Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 31

«Шәҽырӷәӷәаны шәгылаз, акы шәшьақәнаҟьартә алшәмыршан»

«Шәҽырӷәӷәаны шәгылаз, акы шәшьақәнаҟьартә алшәмыршан»

«Бзиа избо сашьцәа, шәҽырӷәӷәаны шәгылаз, акы шәшьақәнаҟьартә алшәмыршан» (1 КОР. 15:58).

АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!

АХҲӘАА a

1, 2. Ишԥаилшо ақьырсиан аҩнеихагыла ду даҩызахар? (1 Коринфаа рахь 15:58).

 1970-ТӘИ АШЫҚӘСҚӘА рынҵәамҭазы Токио 60 еихагыла змаз ахыбра дыргылеит. Ауаа иџьаршьон уа лассы-лассы иҟалалоз адгьылҵысрақәа злачҳауазеи ҳәа. Маӡас иаҵази уи ахыбра аӷәӷәара? Уи апроект аус адызулоз анџьнырцәа уи ӷәӷәаҟацаӡа иҟазарц, аха убри аамҭазгьы адгьылҵысра ачҳартә еиԥш идыргыларц рыӡбеит. Ақьырсианцәа уи аҩнеихагыла ду иеиԥшуп. Излеиԥшузеи?

2 Ақьырсиан изы ихадоуп ианаҭаху иҽырӷәӷәаны дгылазарц, ианаҭаху аҭагылазаашьа иҽақәиршәаларц. Иара Иегова изакәанқәеи инормақәеи рықәныҟәара аганахь ала акы дшьақәнаҟьартә алимыршалароуп. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:58.) Иара аӡырҩра дазхиоуп, насгьы дзықәшәозаалакгьы дхьаҵӡом. Убри аамҭазгьы иара аҟәышра ааирԥшлароуп, мамзаргьы аҭагылазаашьа ианилнаршо, насгьы ианаҭаху уи иҽақәиршәалароуп (Иак. 3:17). Ус зхы мҩаԥызго ақьырсиан ганкахьала иҳәатәы мацара иаиргалаӡом, даҽа ганкахьала зегьы иаарҳәо дақәшаҳаҭхалаӡом. Ари астатиаҿы раԥхьа ҳалацәажәоит акы ҳшьақәнамҟьарц азы иҟаҳҵалар ҳалшо. Уи ашьҭахь ҳазааҭгылоит Аҩсҭаа ҳамхьаҵӡакәа Иегова иган аанкылара даҳԥырхагахарц азы ихы иаирхәо хә-знеишьак. Анаҩс Аҩсҭаа ҳаиҿагылар шҳалшо ҳалацәажәоит.

ИШԤАҲАЛШО ҲҼЫРӶӘӶӘАНЫ ҲГЫЛАЗАР?

3. Иарбан закәанқәоу Иреиҳаӡоу Азакәанԥҵаҩ Аусқәа 15:28, 29 аҿы иҳаиҭаз?

3 Иегова Иреиҳаӡоу Азакәанԥҵаҩ иаҳасабала еснагь ижәлар еилыкка иҟаз азакәанқәа риҭон (Ис. 33:22). Иаҳҳәап, актәи ашәышықәсазы иҟаз анапхгаратә хеилак ақьырсианцәа рҽырӷәӷәаны иҟазар ахьрыхәҭоу х-ганк алкаан иазгәарҭеит. Ҳара: 1) амцнцәахәқәа ҳҽырцәыхьчаны, Иегова заҵәык имаҵ ҳаулароуп, 2) ашьа шыԥшьоу ҳхаҳмыршҭлароуп, насгьы 3) иҳараку абиблиатә нормақәа ҳрықәныҟәалароуп. (Шәаԥхьа Аусқәа 15:28, 29.) Ишԥарылшо ақьырсианцәа арҭ х-ганк рҿы рҽырӷәӷәаны Иегова иган ааныркылалар?

4. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иегова гәыкала ҳшизыҟоу? (Аатра 4:11).

4 Ҳара амцнцәахәқәа ҳрымҵахырхәаӡом, насгьы Иегова заҵәык имаҵ ҳуеит. Анцәа иҭахын израильаа гәыкала изыҟазарц (Ҩынтә. 5:6—10). Анцәа Иԥагьы Аџьныш уи данԥишәоз еилыкка иҳәеит ҳара Иегова заҵәык имаҵ ҳаулар шҳахәҭоу (Матф. 4:8—10). Убри аҟынтә ҳара амцнцәахәқәа ҳрымҵахырхәаӡом. Уи адагьы ҳара ауаа рыбжьара акумирцәа ҳамаӡам — адиннапхгаҩцәа, аполитикцәа, аспортсменцәа, ма ашәаҳәаҩцәа — ҳара урҭ нцәак иеиԥш ҳрыхәаԥшӡом. Ҳара «зегь зшаз» Иегова заҵәык иоуп ҳзымҵахырхәо. (Шәаԥхьа Аатра 4:11.)

5. Избан ҳара аԥсҭазаареи ашьеи шыԥшьоу ҳзырбо Иегова изакәан ҳзықәныҟәо?

5 Ҳара аԥсҭазаареи ашьеи шыԥшьоу ҳзырбо Иегова изакәан ҳақәныҟәоит. Избан? Избанзар ашьа зыхә ҳараку Анцәа иҳамҭа — аԥсҭазаара — аанарԥшуеит (Алев. 17:14). Иегова ауаа акәац афара азин раԥхьаӡакәны ианриҭа, ашьа рымфаларц реиҳәеит (Аҟаз. 9:4). Анцәа израильаа Моисеи изакәан анриҭа, уи дырҩегь иҳәеит (Алев. 17:10). Иара актәи ашәышықәсазгьы анапхгаратә хеилак иалахәыз аишьцәа ргәазҭеиҵеит ақьырсианцәа зегьы «ашьа рҽацәырыхьчаларц» рарҳәарц (Аус. 15:28, 29). Ҳара аҽыхәышәтәра иазку аӡбарақәа анҳадаҳкыло уи аԥҟара лакҩакрада ҳақәныҟәоит b.

6. Иҟаҳҵозеи иҳараку Иегова инормақәа рыла ҳанхаларц азы?

6 Ҳара иҳараку Иегова инормақәа ҳамлакҩакӡакәа ҳрықәныҟәоит (Аур. 13:4). Апостол Павел иҽеим ҳгәаҳәарақәа ҳшьырц, даҽакала иуҳәозар, ҳамлакҩакӡакәа иаанҳажьырц ҳгәазҭеиҵоит. Ҳара иламысдоу ахымҩаԥгашьахь ҳназгар алшо сахьак ҳалаԥш иҵашәаргьы, уи ҳахәаԥшӡом, насгьы уи аҩыза ахымҩаԥгашьахь ҳназгар алшо акгьы ҟаҳҵаӡом (Иов 31:1; Кол. 3:5). Ҳара иҽеим акы аҟаҵаразы агәаҳәара ҳазцәырҵыр, Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьызхыр алшо ахәыцрақәеи ахымҩаԥгашьеи иаразнак иаанҳажьуеит.

7. Иарбан гәазыҟашьоу иҳамазар ҳахәҭоу, насгьы избан?

7 Иегова иҭахуп ҳара гәыкала ҳаизыӡырҩларц (Рим. 6:17). Ҳара иҳалшаӡом закәанқәак наҳагӡалоит, егьырҭ наҳагӡалаӡом ҳәа ҳҳәар. Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп имҩақәҵарақәа зегьы ахәарҭа шаҳзаарго (Ис. 48:17, 18; 1 Кор. 6:9, 10). Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит Иегова дҳаргәырӷьаларц, насгьы аԥсаломшәаҳәаҩ имаз агәазыҟашьа аҩыза ҳамазарц азы: «Сара умҩақәҵарақәа сырзыӡырҩларц сыӡбеит есымша, сыԥсы ахьынӡаҭо» (Аԥсал. 119:112). Аха Аҩсҭаа илшо зегь ҟаиҵоит ҳара Иегова изыӡырҩра ҳаҟәыҵырц азы. Иарбан знеишьақәоу иара уи азы ихы иаирхәо?

ИҼШԤАЗИШӘО АҨСҬАА ҲҼЫРӶӘӶӘАНЫ ИЕГОВА ИГАН АҾЫ ААНХАРАЗЫ ИҲАМОУ АГӘАЗЫҞАШЬА АРԤСЫҼРА?

8. Ихы ишԥаирхәо Аҩсҭаа ашьҭашәарыцарақәа Иегова иган аҿы аанхара даҳԥырхагахарц азы?

8 Ашьҭашәарыцарақәа. Аџьныш Иегова иган аҿы аанхара даҳԥырхагахарц азы ашьҭашәарыцарақәеи ҳемоциақәеи ихы иаирхәоит. Иара хықәкыс имоу «ҳалбааидарц», Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьихырц ауп (1 Пиотр 5:8). Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа еснагь ииашаны рхы ахьымҩаԥыргоз азы идыршәон, ирыпҟон, ианыршьуазгьы ыҟан (Аус. 5:27, 28, 40; 7:54—60). Аҩсҭаа иахьагьы ашьҭашәарыцарақәа ихы иаирхәоит. Урыстәылеи егьырҭ тәылақәаки рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәымбылџьбарала иахьрызныҟәо уи бзианы ишьақәнарӷәӷәоит. Аиаша уҳәозар, ашьҭашәарыцарақәа шеиԥшымгьы, Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә урҭ ирықәымшәо аӡәгьы дыҟаӡам.

9. Избан иаразнак иузгәамҭар алшо ақәыӷәӷәара ҳҽазыҟаҵаны ҳаҟазар зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.

9 Иаразнак иузгәамҭар алшо ақәыӷәӷәара. Аҩсҭаа ҳамҩахиҟьарц азы ашьҭашәарыцарақәа рыдагьы, иаразнак иузгәамҭар алшо азнеишьақәагьы ихы иаирхәоит. Убри аҟынтә ҳара уи «ишьацҳәақәа» ҳдыруазароуп (Еф. 6:11). Абар имариамыз аоперациа зҭахыз Ро́берт дзықәшәаз. Ахәышәтәырҭаҿы иара аҳақьымцәа иреиҳәеит иҟалалакгьы ашьа шилаимҵо. Дԥызҟараны иҟаз аҳақьым Роберт иӡбара пату ақәиҵеит. Аха дԥырҟараны иҟан еиԥш ахәылбыҽха, Роберт иҭынхацәа аҩныҟа ианца, анаркоз изыҟазҵараны иҟаз аҳақьым иара иахь днеит. Иара Роберт иеиҳәеит аоперациа аан ашьа аҭахымхар ҟалап, аха иаҭаххар уи рхианы ирымазаауеит ҳәа. Иҟалап аҳақьым игәы иаанагозҭгьы, Роберт иҭынхацәа иааигәара иҟамлар, иара игәаанагара иԥсахуеит ҳәа. Аха Роберт иҟалалакгьы ашьа шилаимҵо ӡбаны иман.

10. Шәарҭарас ирыҵоузеи ауаҩытәыҩсатә гәаанагарақәа? (1 Коринфаа рахь 3:19, 20).

10 Ауаҩытәыҩсатә гәаанагарақәа. Ҳара ари адунеи иатәу ауаа реиԥш ахәыцра ҳалагар, хәыҷы-хәыҷла Иеговеи иара инормақәеи ҳхашҭыр алшоит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 3:19, 20.) Лассы-лассы «ари адунеи аҟәыӷара» ауаа Анцәа изымӡырҩра ргәазҭанаҵоит. Пергами Фиатиреи инхоз ақьырсианцәа шьоукы ламысдарала зхы мҩаԥызгоз, насгьы амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа рхәаԥшышьа рҿырҵааит. Иисус урҭ аҩ-еизарак шиашамыз аартны иреиҳәеит, избанзар дара иламысдараз ахымҩаԥгашьа рычҳауан (Аат. 2:14, 20). Иахьагьы иааҳакәыршаны ииашам агәаанагарақәа рацәаны иҟоуп. Ҳҭаацәара иатәуи иаҳдыруа ауааи ҳаламыс иҳаҵанаҳәо акәымкәа, ҳцәаныррақәа ҳрызхәыцларц ҳабжьаргоит. Дара ирҳәозар алшоит абиблиатә нормақәа ажәхьеит ҳәа, насгьы ҳгәаҳәарақәа иҳаҵарҳәо аҟаҵара цәгьарас акгьы аҵаӡам ҳәа.

11. Ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи, ҳхаҵара шыӷәӷәоу иаанхарц азы?

11 Зны-зынла ҳгәы иаанагалар ауеит Иегова иҳаиҭо амҩақәҵарақәа маҷцәоуп ҳәа. Убри аҟынтә Иԥшьоу Аҩыра иану ҳахыԥарц ҳҭаххар ауеит (1 Кор. 4:6). Иисус ихаан адиннапхгаҩцәа убас ҟарҵон. Дара Анцәа изакәан ауаа ирхәыцыз аԥҟарақәа ацырҵон, убас ала ауаа рыԥсҭазаара дырцәгьон (Матф. 23:4). Иегова Иажәеи иорганизациеи рыла еилыкка иҟоу амҩақәҵарақәа ҳаиҭоит. Уи ҳара акгьы ацҵатәыс иҳамаӡам (Ажәам. 3:5—7). Убри аҟынтә ҳара Абиблиа иану ҳахыԥаӡом, насгьы ҳхатә алхра ҟаҳҵар ахьҳалшо азҵаарақәа рҿы аԥҟарақәа шьақәҳаргылаӡом.

12. Ихы ишԥаирхәо Аҩсҭаа «ҵакы змам ацәажәарақәа»?

12 Амц. Аҩсҭаа «ҵакы змам ацәажәарақәеи», «ари адунеи ахәыцшьеи» ихы иархәаны ауаа ижьоит, насгьы гәыԥ-гәыԥла еиҟәишоит (Кол. 2:8). Иарбан бџьару иара актәи ашәышықәсазы ихы иаирхәоз? Раԥхьаӡа иргыланы ауаҩытәыҩсатә хәыцшьа шьаҭас измаз афилософиа. Иара убас Анцәа идоуҳа зҵамыз аиудеиаа рырҵарақәа. Уи адагьы ақьырсианцәа Моисеи изакәан нарыгӡалароуп ҳәа иҟаз агәаанагара. Урҭ агәаанагарақәа зегь мцын, избанзар ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара иахыҵхырҭоу, Иегова, иахь ауаа нанагаӡомызт. Иахьа Аҩсҭаа ауаа ижьоит СМИ, иара убас асоциалтә каҭақәа ихы иархәаны. Иара уҳәансҳәани, мцла еибарку ажәабжьқәеи, аполитикатә пропагандеи ауаа ирылаирҵәоит. Апандемиа COVID-19 аан уи лабҿаба иаҳбеит c. Зыгәра угартә иҟам аинформациа иазыӡырҩуаз ауаа, уи агәҭынчымра ӷәӷәа рызцәырнагон. Аха Анцәа иорганизациа иҳанаҭоз амҩақәҵарақәа ирзыӡырҩуаз Иегова ишаҳаҭцәа ргәы ҭынчын (Матф. 24:45).

13. Избан ихадоу аҟынтә акы ҳахнагозар, уи зшәарҭоу?

13 Ихадоу аҟынтә уахызгар алшо. Ҳара «еиҳа ихадоу» аҟынтә акы ҳахнагартә ҳамуроуп, избанзар уи иахҟьаны ихәарҭоу аусқәа ирзаҳкыр алшо ҳаамҭеи ҳамчи баша инаҳхыр ауеит (Флп. 1:9, 10). Есыҽнытәи аусқәа — афатәи, ажәтәи, аԥсшьареи, аусуреи — ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадахар, ихадоу аҟынтә ҳахнагар алшоит (Лука 21:34, 35). Уи адагьы ҳара есыҽны аилаҩынтрақәеи аполитикатә еимак-еиҿакқәеи ирызку ажәабжьқәа рацәаны иҳаҳауеит. Ишәхашәмыршҭлан уи ашьацҳәа иаҩызахар шалшо. Избанзар ҳара ишаҳдыруа, ма ҳазымхәыцӡакәа аӡә иган аанаҳкылар ҳалшоит. Аҩсҭаа арҭ аметодқәа зегь ихы изаирхәо ииашаны ахымҩаԥгара ҳаҟәихырц азоуп. Шәааи Аҩсҭаа ҳаиҿагыланы арҭ азҵаарақәа рҿы ҳаӷәӷәаны ҳаанхар шҳалшо ҳалацәажәап.

ИҞАҴАЛАТӘУЗЕИ ҲҼЫРӶӘӶӘАНЫ ҲГЫЛАЗАРЦ АЗЫ?

Шәҽырӷәӷәаны шәаанхаларц азы Анцәа шәыҽшизышәкыз, насгьы аӡы шәыҽшӡаашәхыз шәазхәыцла, Анцәа Иажәа ҭышәҵаала, насгьы уи шәазхәыцла, Анцәа гәыкала шәизыҟазарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала, иара убас Иегова игәра жәгала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—18.)

14. Ишәыцхраауазеи шәҽырӷәӷәаны Иегова иган аҿы агылара?

14 Анцәа шәыҽшизышәкыз, насгьы аӡы шәыҽшӡаашәхыз шәазхәыцла. Избан шәара арҭ ашьаҿақәа зыҟашәҵаз? Избанзар Иегова иган аанышәкылар шәҭахын. Ишәгәалашәыршәа аҵабырг шеилышәкааз. Шәара Иегова изку ииашоу адыррақәа шәоуит, насгьы жәҩантәи Шәаб бзиа ибареи пату иқәҵареи шәалагеит. Шәара ахаҵара еизшәырҳаит, насгьы шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәит. Иара убас шәгәы ишәыҵанаҳәеит уаанӡатәи шәыԥсҭазаара ааныжьны Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара. Анцәа шәыгәнаҳақәа шшәанаижьыз анеилышәкаа, агәҭынчра шәоуит (Аԥсал. 32:1, 2). Шәара ақьырсиантә еизарақәа рахь аныҟәареи, еилышәкааз зеиԥшыҟам аҵабырг аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәареи шәалагеит. Уи ашьҭахь шәыԥсҭазаара Анцәа изышәкит, аӡгьы шәыҽӡаашәхит. Уажәшьҭа шәара аԥсҭазаарахь уназго амҩа шәануп, уи ааныжьра шәыгәгьы иҭаӡам (Матф. 7:13, 14).

15. Иарбан хәарҭоу аҭҵаареи азхәыцреи иаҳзаарго?

15 Анцәа Иажәа ҭышәҵаала, насгьы уи шәазхәыцла. Аҵла иҵаулоу адацқәа рыбзоурала ишгылоу еиԥш, ҳаргьы Анцәа Иажәа шьаҭас измоу ҳхаҵара ӷәӷәазар, ҳаӷәӷәаны ҳгылазаауеит. Аҵла анеизҳауа адацқәа еиҳа-еиҳа иҵауланы иҵалоит. Ҳара Иԥшьоу Аҩыра анҭаҳҵаауа, насгьы уи ҳаназхәыцуа ҳхаҵара ҳарӷәӷәоит, насгьы Анцәа иаҳирбо амҩа зегьы ишреиӷьу еиҳа-еиҳа агәра ҳгоит (Кол. 2:6, 7). Шәазхәыц Иегова ажәытәан имаҵзуҩцәа шихьчоз, насгьы урҭ ириҭоз амҩақәҵарақәеи алабжьарақәеи ишырыхьчоз. Иаҳҳәап, Иезекииль абараҿы ибеит амаалықь аныҳәарҭа ашәара дшаҿыз. Аԥааимбар уи илаԥш аҟәымгаӡакәа дахәаԥшуан. Уи ихаҵара арӷәӷәеит. Уи абара ҳара ҳзгьы ихадоу аурокқәа агәылоуп. Уи Иегова игәы ишақәшәо еиԥш ҳимҵахырхәаларц азы инормақәа рықәныҟәашьа ҳнарҵоит (Иез. 40:1—4; 43:10—12) d. Ҳара ҳзгьы Анцәа Иажәа иагәылоу иҵаулоу аҵабыргқәа рыҭҵаареи рызхәыцреи рзы аамҭа алхра хәарҭоуп.

16. Ишԥаицхрааи Роберт Анцәа гәыкала дахьизыҟаз? (Аԥсалом 112:7).

16 Анцәа гәыкала шәизыҟазарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Аҳ Давид иҳәеит Иегова бзиа ибара ахаан дшаҟәымҵуа. Иара ашәаны абас иҳәеит: «Сара гәыкала сузыҟоуп, Сынцәа» (Аԥсал. 57:7). Ҳаргьы Иегова гәыкала ҳаизыҟазар ҳалшоит, аха уи азы аҵыхәтәанынӡа ҳиқәгәыӷлароуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 112:7.) Ҳахәаԥшып хыхь зыӡбахә ҳәаз Роберт Анцәа гәыкала дахьизыҟаз шицхрааз. Ишаҳҳәахьоу еиԥш анаркоз изыҟазҵараны иҟаз аҳақьым иеиҳәеит аоперациа аан ашьа аҭаххар, уи рааигәара ишыҟало. Роберт уи аҳақьым иаразнак абас иеиҳәеит: «Ашьа шсылашәымҵо ажәа сышәымҭар, абыржәыҵәҟьа сдәылҵны сцоит». Ԥыҭрак ашьҭахь Роберт игәалаиршәон: «Сара секундкгьы сымлакҩакӡеит, сыгәгьы меиҭаԥеит».

Ҳхаҵара ашьаҭа ӷәӷәазар, ҳзықәшәо аԥышәара зеиԥшразаалакгьы уи ҳхаҳгоит, ҳхаҵара шыӷәӷәоугьы иаанхоит. (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Иаҳнарҵозеи Роберт ихҭыс? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Роберт идикылаз аӡбараҿы дшыӷәӷәаз даанхеит, избанзар уи аӡбара ахәышәтәырҭаҿы дышьҭарҵаанӡа акыр шыбжьаз идикылахьан. Раԥхьа иара Иегова иргәырӷьаразы агәаҳәара иоуит. Анаҩс аԥсҭазаареи ашьеи шыԥшьоу иазкны Абиблиа, насгьы уи шьаҭас измоу апубликациақәа рҿы иану бзианы иҭиҵааит. Нас иара еиликааит Иегова ак ҳадиҵозар, уи еснагь ахәарҭа шаҳзаанаго. Ҳаргьы, иарбан уадаҩразаалакгьы иҳамоу, Анцәа гәыкала ҳаизыҟазар ҳалшоит.

Агәымшәара злоу Варак ируааи иареи Сисара ир ирышьҭоуп. (Шәахәаԥш абзац 18.)

18. Ишԥаҳацхраауеи Варак иҿырԥшы Иегова игәра агара? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

18 Иегова игәра жәгала. Ҳахәаԥшып аӡбаҩ Варак Иегова имҩақәҵарақәа рыгәра ахьигоз аиааира агара ишицхрааз. Израильаа аԥыракгьы рымамызт аԥсагьы рымамызт, аха Иегова Варак иеиҳәеит бџьарла еиқәных иҟаз ханаантәи ар реиҳабы Сисара ир дырҿагыланы драбашьырц (Аӡб. 5:8). Аԥааимбарԥҳәыс Девора Варак иалҳәеит Сисареи 900 ҽыуардыни дырҿагыларц азы акаршәрахь дылбаарц. Иҟьаҟьараз уи аҭыԥ аҿы аиааира згоз аҽыуардынқәа змаз шиакәыз шеилкаазгьы, Варак иарҳәаз ҟаиҵеит. Ируаа ашьха Фавор албаара ишаҿыз, Иегова ақәаршҩы аируит. Сисара иҽыуардынқәа аҳәынҵәа илахеит, убас ала Анцәа Варак аиааира ииргеит (Аӡб. 4:1—7, 10, 13—16). Иегова ҳаргьы аиааира ҳаиҭоит, иареи иаҳхаиргылаз ахацәа рыла иҳаиҭо амҩақәҵарақәеи рыгәра ҳгозар (Ҩынтә. 31:6).

ШӘҼЫРӶӘӶӘАНЫ ШӘГЫЛАЗ

19. Избан шәара Иегова иган аҿы шәҽырӷәӷәаны шәгылазар зышәҭаху?

19 Иажәхьоу ари адунеи аҿы ҳанхонаҵы, амҩа иаша ҳанымҵырц азы ҳааҟәымҵӡакәа аџьабаа ҳбалароуп (1 Тим. 6:11, 12; 2 Пиотр 3:17). Ашьҭашәарыцарақәеи, иаразнак иузгәамҭар алшо ақәыӷәӷәареи, ауаҩытәыҩсатә гәаанагарақәеи, амци, насгьы еиҳа ихадоу аҟынтә ҳахызгар алшо ҳшьара ҳақәырҟьартә рылҳмыршап (Еф. 4:14). Шәааи ҳҽырӷәӷәаны Иегова иган аҿы ҳгылап, гәыкала бзиа даҳбалап, насгьы иара иҟынтә иҳауа амҩақәҵарақәа еснагь лакҩакрада ҳрықәныҟәалап. Иара убас ҳара аҟәышра ааҳарԥшлароуп. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит Иеговеи Иисуси уи аҟазшьа аарԥшраҿы инаӡоу аҿырԥшы шҳарҭо.

АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап

a Адами Евеи раахыс Аҩсҭаа ауаа агәра дыргара даҿуп ацәгьеи абзиеи закәу рхала ирыӡбалар рылшоит ҳәа. Иара иҭахуп Иегова изакәанқәеи иорганизациа аҟынтә иҳауа амҩақәҵарақәеи ҳарзыӡырҩлару-ҳарзымӡырҩлару ҳхала иҳаӡбалар ҳалшоит ҳәа ҳхәыцларц. Ари адунеи аҿы Аҩсҭаа изыӡырҩуа ауаа Иегова изакәанқәа хьаасгьы ирымаӡам. Ари астатиа ҳацхраауеит урҭ ауаа ҳармыхәаԥшӡакәа еснагь Иегова иган аанкылара.

b Анцәа ашьа дшазыҟоу иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аурок 39 аҟынтә.

c Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иҟоу астатиа «Защитите себя от дезинформации!».

d Еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит ашәҟәы «Чистое поклонение Иегове восстановлено!», ахқәа 13, 14 рҿы.