Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 25

Аизара аиҳабацәа Гедеон шәиҿыԥшла

Аизара аиҳабацәа Гедеон шәиҿыԥшла

«Аамҭа сызхаӡом Гедеон... [и]ӡбахә аҳәаразы» (АУР. 11:32).

АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп

АХҲӘАА a

1. Иарбан ихадоу дҵоу аизара аиҳабацәа ирыду, 1 Пиотр 5:2 иану инақәыршәаны?

 ИЕГОВА аизара аиҳабацәа зыхә ҳараку иуасақәа ирхылаԥшларц рыдиҵеит. Урҭ аишьцәа ирыду амаҵзура ахә ҳаракны иршьоит, насгьы Иегова иԥсаса гәыкала ирхылаԥшларц азы ирылшо зегь ҟарҵоит (Иер. 23:4; шәаԥхьа 1 Пиотр 5:2). Ҳара Иегова идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит узықәгәыӷыртә иҟоу урҭ ахацәа рзы!

2. Иарбан уадаҩрақәоу аизара аиҳабацәа зықәшәар алшо?

2 Аизара аиҳабацәа рыдҵақәа анынарыгӡо ирацәаны ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Иаҳҳәап, дара аизарақәа ирхылаԥшларц азы ирацәаны аџьабаа рбалароуп. Еиду Аштатқәа рҿы инхо То́ни зыхьӡу аизара аиҳабы еиликааит аизара аусқәа зегьы имч шрықәымхо. Иара иҳәоит: «Апандемиа COVID-19 аналага аизарақәа шымҩаԥгалатәу, насгьы ажәабжь шҳәалатәу иазкны ирацәаны азҵаарақәа цәырҵит. Убри аҟынтә сара еиҳа-еиҳа ирацәаны адҵақәа рынагӡара салагеит. Аха аусутә уеизгьы имаҷхаӡомызт. Уи иахҟьаны Абиблиа аԥхьареи, ахатә ҭҵаара амҩаԥгареи, анцәаиҳәареи рзы аамҭа сзымхо салагеит». Косово инхо Или́р зыхьӡу аизара аиҳабы даҽа уадаҩрак дақәшәеит. Аибашьра ахьцоз аҭыԥ аҿы данынхоз ҳорганизациа аҟынтә иоуаз амҩақәҵарақәа рзыӡырҩра ицәыцәгьан. Иара иҳәоит: «Афилиал аҟынтә аишьцәа сыҳәеит ишәарҭаз аҭыԥ аҿы инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи срыцхрааларц. Уи азы агәымшәара аҭахын, аха сара сшәон, насгьы исоуз анапхгара уиаҟара аҟәыӷара аҵамызшәа збон». Азиа миссионерс амаҵ зуа Тим аусқәа реилагӡара ицәыцәгьан. Иара иҳәоит: «Зны-зынла сара сымч сылӡаазшәа збон». Ирыцхраар алшозеи убас еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ирықәшәо аизара аиҳабацәа?

3. Избан ҳара зегьы аӡбаҩ Гедеон иҿырԥшы ҳазхәыцыр зыбзиоу?

3 Аизара аиҳабацәа аӡбаҩ Гедеон иҿырԥшы иазхәыцыр бзиоуп (Аур. 6:12; 11:32). Иара Анцәа ижәлар рзы еиқәырхаҩыс, насгьы хьчаҩыс дыҟан (Аӡб. 2:16; 1 Аш. 17:6). Ажәытәан Гедеон иеиԥш иахьагьы аизара аиҳабацәа имариам ари аамҭазы Анцәа ижәлар рхылаԥшра рыдуп (Аус. 20:28; 2 Тим. 3:1). Ҳара зегьы Гедеон иҿаҳҵааша рацәоуп. Иара ахӡырымгареи, ахынраалареи, аҳәатәхаҵареи злаз уаҩын. Идҵақәа рынагӡаразы иара ачҳара ааирԥшлар акәын. Ҳара аизара аиҳабыс амаҵ ҳуазаргьы-иҳамуазаргьы, зыхә ҳараку урҭ ахьчацәа еиҳагьы рыхә ашьара ҳалшоит. Шәааи аџьабаа иацәымшәо урҭ аишьцәа ҳрыцхраалап (Аур. 13:17).

АХӠЫРЫМГАРЕИ АХЫНРААЛАРЕИ ҲАЛОУ-ИҲАЛАМУ АНԤЫШӘАХО

4. Излоубарҭоузеи Гедеон ахӡырымгареи ахынраалареи шилаз?

4 Гедеон ахӡырымгареи ахынраалареи злаз уаҩын b. Зны амаалықь Гедеон иеиҳәеит Иегова ижәлар мадианаа рҟынтә еиқәирхарц азы иара дшалихыз. Усҟан Гедеон ахӡырымгара аарԥшны иҳәеит: «Сара сыжәла Манассиа ишьҭраҿы ирылукаауа иҟам, саргьы саб иҩнаҭаҿы срылукаартә сыҟам» (Аӡб. 6:15). Иара уи адҵа анагӡара илшаӡом ҳәа игәы иаанагон. Аха Иегова ибон иара уи шилшоз. Иегова ицхыраарала Гедеон уи адҵа қәҿиарала инаигӡеит.

5. Ианбеицәыцәгьахар алшо аизара аиҳабы хӡырымгарала ахымҩаԥгареи аԥагьара аҽацәыхьчареи?

5 Аизара аиҳабацәа еснагь рҽазыршәоит ахӡырымгара аарԥшреи аԥагьара аҽацәыхьчареи (Мих. 6:8; Аус. 20:18, 19). Дара ирылымшо шыҟоу еилыркаауеит, насгьы реихьӡарақәа ирхыҽхәаӡом. Аха агхақәа ахьрыхьуа азы акгьы иаԥсаӡам ҳәагьы рыԥхьаӡаӡом. Аха уеизгьы зны-зынла дара хӡырымгарала ахымҩаԥгареи аԥагьара аҽацәыхьчареи рзымариаӡам. Иаҳҳәап, аизара аиҳабы ирацәаны адҵақәа рынагӡара дақәшаҳаҭхар алшоит, аха нас уи зегь шилымшо еиликаар ауеит. Мамзаргьы аизара аиҳабы дҵак шынаигӡо азы ддырҽхәалар ма ддырџьалар алшоит. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы Гедеон иҿыԥшлар?

Ахӡырымгара злоу аизара аиҳабы Гедеон диҿыԥшуеит. Иара ацхыраара аҳәара дацәыԥхашьаӡом, иаҳҳәап астендқәа рыла ажәабжьҳәара аиҿкааразы. (Шәахәаԥш абзац 6.)

6. Иднарҵар алшозеи аизара аиҳабацәа Гедеон ихы ахьӡыримгоз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

6 Ацхыраара шәаҳәала. Зхы ӡырзымго ауаҩы еиликаауеит зегь шилымшо. Гедеон зхы ӡырзымгоз уаҩын, убри аҟынтә аӡәы ацхырааразы иҳәара дацәыԥхашьаӡомызт (Аӡб. 6:27, 35; 7:24). Аҟәыӷара злоу аизара аиҳабацәагьы убас ҟарҵоит. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Тони, иҳәоит: «Дҵақәак рынагӡара иансыҳәоз мап рыцәкра сцәыцәгьан. Убас сааӡоуп. Убри аҟынтә сара исыӡбеит аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы ахӡырымгара закәу ҭаҳҵаарц, насгьы сыԥшәма слазҵааит уи аҟазшьа аарԥшра сзалҵуоу-исзалымҵуоу салҳәарц. Иара убас ҳсаит аҿы иаагоу авидеонҵамҭа „Обучайте других, доверяйте им и передавайте полномочия, подражая Иисусу“ сахәаԥшит». Тони идыз дҵақәак егьырҭ ириҭо далагеит. Аҽшԥаԥсахи аҭагылазаашьа? Иара иҳәоит: «Аизара аусқәагьы аанымгылаӡеит, саргьы Иеговеи сареи ҳаиҩызара арӷәӷәаразы еиҳаны аамҭа соуит».

7. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа андырџьо Гедеон иҿыԥшра? (Иаков 3:13).

7 Шәандырџьо хаала аҭак ҟашәҵала. Аизара аиҳабацәа дырџьалар ауеит, уи ргәы днархьлар алшоит. Аха усҟангьы дара Гедеон иҿыԥшлар ауеит. Ҳәарада, иара идыруан зныкымкәа агхақәа шыҟаиҵахьаз. Убри аҟынтә ефремаа ирџьара ианалага иара хаала аҭак риҭеит (Аӡб. 8:1—3). Гедеон урҭ игәы рызԥымжәаӡеит. Иара аԥагьара аамырԥшӡакәа дырзыӡырҩит, насгьы ргәы ирҭынчит. Аҟәыӷара злоу аизара аиҳабацәагьы Гедеон иҿыԥшуеит. Аӡәы ак анигәамԥхо дара изыӡырҩуеит, насгьы хаала аҭак ҟарҵоит. (Шәаԥхьа Иаков 3:13.) Убас дара аизараҿы аҭынчра рыхьчоит.

8. Рхы мҩаԥыргалар шԥарыхәҭоу аизара аиҳабацәа иандырҽхәо? Иаажәга аҿырԥштәы.

8 Аҽхәаԥхьыӡ Иегова ишәҭала. Гедеон мадианаа дахьыриааиз азы ирҽхәара ианалага, иара ахьӡ-аԥша ихахьы имгакәа, Иегова ирҽхәара далагеит (Аӡб. 8:22, 23). Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Гедеон иҿыԥшлар? Дара уск бзианы ирзалҵуазар, ахьӡ-аԥша Иегова ирҭалароуп (1 Кор. 4:6, 7). Иаҳҳәап, аӡәы аизара аиҳабы илоу арҵаратә ҟазаразы дирҽхәозар ауеит. Убасҟан аизара аиҳабы уи игәалаиршәар илшоит ҳара зегьы аҵара ҳзырҵо Анцәа Иажәеи иорганизациеи шракәу. Аизара аиҳабы «схы ӡырсымгаӡои?» ҳәа зны-зынла ихы дазҵаалар бзиоуп. Абар Ти́моти иҿырԥшы. Иара аизара аиҳабыс даныҟала ажәахәқәа иманы ақәгылара даараӡа игәаԥхон. Иара иҳәоит: «Сара ажәахә ансымаз аӡырҩцәа зыршанхоз алагамҭеи аҿырԥштәқәеи схы иасырхәон. Уи ашьҭахь лассы-лассы сдырҽхәон. Аха ус еиԥш иҟаз ажәахәқәа рыла сара Иеговеи Абиблиеи ракәымкәа, схы ӡырызгон». Аамҭак ашьҭахь Тимоти еиликааит ажәахәқәа иманы данықәгыло ихы ӡыримгалар шихәҭоу (Ажәам. 27:21). Иара иациҵоит: «Уажәшьҭа аишьцәеи аиҳәшьцәеи исарҳәоит исҳәаз ажәахә рыуадаҩра аӡбара, аԥышәара ахгара, мамзаргьы Иегова изааигәахара ишрыцхрааз. Уи еиҳа агәырӷьара сзаанагоит, сҟазаразы уаанӡа сандырҽхәоз аасҭа».

АҲӘАТӘХАҴАРЕИ АГӘЫМШӘАРЕИ ҲАЛОУ-ИҲАЛАМУ АНԤЫШӘАХО

Гедеон аҳәатәхаҵара аарԥшны ируаа рхыԥхьаӡара 300-ҩык ахацәа рҟынӡа ирмаҷит, урҭ зеиԥшыҟамыз агәымшәара аазырԥшыз ракәын. (Шәахәаԥш абзац 9.)

9. Избан Гедеон аҳәатәхаҵареи агәымшәареи зиҭахыз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

9 Гедеон Израиль ӡбаҩыс даныҟала аҳәатәхаҵареи агәымшәареи иҭаххеит. Иара ишәарҭаз адҵа иоуит, иаб иитәыз Ваал икәырбаннагарҭа ирбгар акәын (Аӡб. 6:25, 26). Ԥыҭрак ашьҭахь иара ир рхыԥхьаӡара ирмаҷырц ҩынтә анапхгара иоуит (Аӡб. 7:2—7). Уи адагьы аҵх агәазы аӷа диқәларц адҵа иоуит (Аӡб. 7:9—11).

10. Ианбарцәыцәгьахар алшо аизара аиҳабацәа аҳәатәхаҵара аарԥшра?

10 Аизара аиҳабацәа аҳәатәхаҵара рылазароуп (Иак. 3:17). Аҳәатәхаҵара злоу аизара аиҳабы еснагь Абиблиа иану дықәныҟәоит, насгьы Анцәа иорганизациа аҟынтә иҳауа амҩақәҵарақәа дырзыӡырҩуеит. Убасала иара егьырҭ аҿырԥш бзиа риҭоит. Аха иҟоуп аҳәатәхаҵара аарԥшра анымариам ҭагылазаашьақәак. Иаҳҳәап, аизара аиҳабы иоуа амҩақәҵарақәа зегьы рыҽрықәыршәара изымариамзар ауеит. Мамзаргьы мҩақәҵарақәак аҟәышра рыҵамшәа, ихәарҭамшәа игәы иаанагозар алшоит. Ма иҟалап ахақәиҭра ицәзырӡыр алшо ишәарҭоу дҵак идырҵар. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы Гедеон иҿыԥшлар?

11. Ишԥарыцхраауеи аизара аиҳабацәа Гедеон иҿырԥшы аҳәатәхаҵара аарԥшра?

11 Амҩақәҵарақәа ибзианы шәырзыӡырҩла, насгьы урҭ шәрықәныҟәала. Анцәа Гедеон иеиҳәеит иаб иитәыз акәырбаннагарҭа шырбгатәыз, акәырбаннагарҭа ҿыц ахьыргылатәыз, насгьы иарбан ԥстәу кәырбанс инагатәыз. Гедеон иоуз анапхгара даҿамгылаӡеит, иара Анцәа иеиҳәаз ҟаиҵеит. Иахьа аизара аиҳабацәа Иегова иорганизациа аҟынтә амҩақәҵарақәа роуеит асаламшәҟәқәа рыла, алаҳәарақәа рыла, насгьы еиуеиԥшым анапхгарақәа рыла. Уи ҳхаҵара ма ҳгәабзиара иаԥырхагахар алшо аҟынтә ҳахьчоит. Ҳара аизара аиҳабацәа рыхә ҳаракны иаҳшьоит ироуа анапхгара ак агмыжькәа иахьықәныҟәо. Уи аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахәарҭа ду рзаанагоит (Аԥсал. 119:112).

12. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Ауриацәа рахь 13:17 иану иқәныҟәалар, ҳорганизациа аҟынтә иҿыцу амҩақәҵарақәа анроуа?

12 Амҩақәҵарақәа рҽанырыԥсахуа урҭ шәыҽрықәшәыршәала. Иаҳгәалаҳаршәап Гедеон Иегова дизыӡырҩны ируаа рҟынтә 99 процент инареиҳаны аҩныҟа ишишьҭыз (Аӡб. 7:8). Иара игәы иаанагар алшон: «Иаҭахыҵәҟьазма ус аҟаҵара? Ҳашԥариааиуеи усҟан мадианаа?» Аха уеизгьы Гедеон аҳәатәхаҵара ааирԥшит. Аизара аиҳабацәагьы Гедеон иҿыԥшуеит — дара анапхгара аҽанаԥсахуа аҳәатәхаҵара аарԥшны ҳорганизациа аҟынтә ироуа амҩақәҵарақәа ирықәныҟәоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:17.) Иаҳҳәап, 2014 шықәсазы Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа ирыӡбеит Аҳратә залқәеи Аконгрессқәа рзалқәеи рыргылара иадҳәалоу ахарџь ахҩаразы азнеишьа рыԥсахырц (2 Кор. 8:12—14). Аизарақәа ирықәыз ауал уаҳа иршәалар акәӡам. Уи аҭыԥан адунеи ахьынӡанаӡааӡо аишьцәеи аиҳәшьцәеи хатәгәаԥхарала иаларҵо аԥара еиларҵо иалагеит. Уи абзоурала аизарақәа рфинанстә ҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы Анцәа имҵахырхәаразы ахыбрақәа рыргылара ахьаҭахыз аҭыԥқәа рҿы уи аҩыза алшара роуит. Аиашьа Хосе́ ари анапхгара аҽшаԥсахыз аниаҳа, уи ак алҵып ҳәа дыҟамызт. Иара игәы иаанагон: «Ус ҳара Залкгьы ҳзыргылаӡом. Ҳҭыԥ аҿы уи алҵӡом». Ицхраазеи аиашьа Хосе иҿыцыз ари амҩақәҵара ақәныҟәара? Иара иҳәоит: «Ажәамаанақәа 3:5, 6 аҿы иану ажәақәа исгәаладыршәеит Иегова игәра згалар шсыхәҭоу. Схаҿгьы исзаагомызт уи ари аҩыза алҵшәа аанагап ҳәа. Уажәшьҭа ҳара еиҳа ирацәаны Аҳратә залқәа ҳаргылоит. Уи адагьы арҭ аԥсахрақәа рыбзоурала хатәгәаԥхарала иалаҳҵо аԥара егьырҭ аҭыԥқәа рҿы инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ахәарҭа рзаанагоит. Насгьы Аҳратә зал ада аӡәгьы даанхаӡом».

Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку атәылаҿы ҳанхозаргьы, агәымшәара ҳацхраауеит гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара. (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. а) Зыгәра ганы дыҟази Гедеон? б) Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Гедеон иҿыԥшлар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Агәымшәара аарԥшны Иегова игәаԥхара нашәыгӡала. Гедеон дышшәозгьы, иоуз адҵа ашәарҭара шаҵазгьы, Иегова иеиҳәаз наигӡеит (Аӡб. 9:17). Иегова иара дышицзаало агәра ииргеит. Убри аҟынтә Гедеон агәра ганы дыҟан иара Анцәа ижәлар ихьчар шилшоз. Иахьа тәылақәак рҿы аҳәынҭқарцәа Иегова ишаҳаҭцәа рус иаԥырхагоуп. Уа инхо аизара аиҳабацәа Гедеон иҿыԥшуеит. Дара агәымшәара аарԥшны аизарақәа мҩаԥыргоит, ажәабжьҳәара еиҿыркаауеит, рхаҭагьы ажәабжь рҳәоит, уи азы абахҭа иҭаркыр, рҿахәы рҿырхыр, русура рцәыӡыр, ма ирыпҟар шалшогьы c. Арыцҳара ду аан аизара аиҳабацәа ироуа анапхгара иқәныҟәаларц азы агәымшәара рҭаххоит. Урҭ амҩақәҵарақәа зызкызар алшо акырцх еиԥшхо ажәабжь ауаа ишрылаҳҳәало, насгьы Магог аҟынтә Гог иқәылара аан ҳхы шыҳахьчало ауп (Иез. 38:18; Аат. 16:21).

АЧҲАРА ҲАЛОУ-ИҲАЛАМУ АНԤЫШӘАХО

14. Ишԥаԥышәахеи Гедеон илаз ачҳара?

14 Иегова Гедеон ӡбаҩык иаҳасабала идиҵаз адҵа анагӡаразы ирацәаны аџьабаа ибар акәын. Аухантәарак ицоз аибашьра ашьҭахь мадианаа рхы еиқәдырхарц азы ибналарц иандәықәла, Гедеон урҭ дрышьҭалеит. Иара урҭ дрышьҭан арха Изреель аҟынтә Иордан аҟынӡа. Иордан аԥшаҳәа иаакәыршаны иҟалап ижәпараз чықьразҭгьы (Аӡб. 7:22). Даангылама Гедеон Иордан даннеи? Мап! 300-ҩык ируааи иареи шааԥсазгьы, аӡиас ирны мадианаа ишрышьҭац ирышьҭан. Аҵыхәтәаны урҭ ирыхьӡаны иԥыххааса иқәырҵеит (Аӡб. 8:4—12).

15. Иԥышәахар шԥалшо аизара аиҳабы илоу ачҳара?

15 Аизара аиҳабы аизараҿы, насгьы иҭаацәараҿы ирацәаны аҭакԥхықәрақәа ахьиду азы зны-зынла цәгьала дааԥсозар ауеит. Ишԥаицхраауеи аизара аиҳабы уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы Гедеон иҿырԥшы?

Иҳаиҷаҳауа аизара аиҳабацәа ацхыраара зҭаху ргәы шьҭырхуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)

16, 17. а) Ицхраазеи Гедеон идыз адҵа анагӡара? б) Зыгәра ганы иҟазар рылшозеи аизара аиҳабацәа? (Исаиа 40:28—31). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Иегова амч шшәиҭо агәра жәгала. Гедеон агәра игон Иегова амч шииҭо, убас иагьыҟалеит (Аӡб. 6:14, 34). Мадиантәи аҳцәа Гедеон ируааи иареи ианырцәыбналоз, дара амахҽқәа ирықәтәан. Израильтәи ар шьапыла иҟан (Аӡб. 8:12, 21). Аха Анцәа ицхыраарала дара раӷацәа ирыхьӡаны иԥыххааса иқәырҵеит. Иахьагьы аизара аиҳабацәа агәра ганы иҟазар рылшоит ианаҭаххо Иегова амч шриҭо, избанзар «иара дааԥсом, дкарахом». (Шәаԥхьа Исаиа 40:28—31.)

17 Метьиу зыхьӡу аизара аиҳабы ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитет аҿы амаҵ иуеит. Ицхраауазеи иара иду аҭакԥхықәрақәа зегь рынагӡара? Метьиу иҳәоит: «Сара избеит Филиппаа рахь 4:13 иану шиашоу. Сымч ансылӡаауаз сара сӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа сиҳәон. Сара сиҳәон аишьцәа рыцхрааразы амч сиҭарц. Усҟан сара избон Иегова идоуҳа амч шсынаҭо, насгьы исыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара ишсыцхраауа». Гедеон иҿыԥшны аизара аиҳабацәа Иегова иуасақәа ирхылаԥшларц азы рхы еигӡаӡом, уи анымариамгьы. Ҳәарада, дара еилыркаалароуп Иегова ицхыраарада аусқәа зегь рымч шрықәымхо. Аха дара агәра ганы иҟазар рылшоит Иегова ацхырааразы ианиҳәо, рыҳәарақәа шиаҳауа, насгьы ирыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара дышрыцхраауа (Аԥсал. 116:1; Флп. 2:13).

18. Ирыцхраар шԥалшо аизара аиҳабацәа Гедеон иҿырԥшы?

18 Ишаҳбаз еиԥш Гедеон иҿырԥшы аизара аиҳабацәа даара ирыхәар алшоит. Дара еиуеиԥшым адҵақәа анроуа ирылшои-ирылымшои аилкааразы, насгьы иандырџьо ма иандырҽхәо ииашаны рхы мҩаԥыргаларц азы ахӡырымгареи ахынраалареи рҭахуп. Аизара аиҳабацәа аҳәатәхаҵареи агәымшәареи рылазароуп, еиҳараӡак уажәы, избанзар ари адунеи аҵыхәтәа даараӡа иааигәоуп. Уи адагьы дара агәра ганы иҟазароуп Анцәа ицхыраарала зегь шрылшо. Шәааи зхы иамеигӡо урҭ ахьчацәа рыхә ҳаракны иаҳшьалап! (Флп. 2:29).

АШӘА 120 Христос ихынраалара шәаҿыԥшла

a Иегова Гедеон аҭоурых аҿы имариамыз аамҭазы израильтәи ажәлар раԥхьагылаҩыс, насгьы реиқәырхаҩыс дҟаиҵеит. Гедеон 40-ҟа шықәса рыҩныҵҟа гәыкала идҵа наигӡон. Аха иара имаҷымкәа ауадаҩрақәа дрықәшәеит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Гедеон иҿырԥшы иахьа аизара аиҳабацәа ирыхәар шалшо.

b Ахӡырымгареи ахынраалареи еидҳәалоуп. Ахӡырымгара иаанагоит умч зықәхои-изқәымхои аилкаара. Ахынраалара иаанагоит егьырҭ ауаа пату рықәҵареи урҭ уара уаасҭа еиӷьуп ҳәа рыԥхьаӡареи (Флп. 2:3). Ахӡырымгара злоу ауаа лассы-лассы ахынрааларагьы рылоуп.

c Шәахәаԥш 2019 шықәса, ииуль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Иегова имаҵ аура шәаҟәымҵын, шәахьынхо атәылаҿы уи мап ацәыркыргьы», адаҟьақәа 10—11, абзацқәа 10—13.