«Ахьчаратә бааш» аҿы иану егьырҭ астатиақәа
Ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы аизарақәа рҽырзыҟарҵарц азы JW Library® рхы иадырхәоит. Дара иргәаԥхоит уи апрограммаҿы «Ахьчаратә бааш» аҟынтә аҵаразы астатиақәа рыԥшаара ахьымариоу. Аха аҵаразы аҭыжьымҭақәа рҿы иҟоуп ҳхаҵара зырӷәӷәо егьырҭ астатиақәагьы. Иҳаԥшаар шԥаҳалшо урҭ JW Library ҳхы иархәаны?
Аҵаразы иҟоу астатиақәа зегь рынҵәамҭаҿы иҟоуп ахеиҵа «Дополнительные материалы». Уи ахеиҵа аҵаҟа иҟоуп азхьарԥш «Другие статьи в этом выпуске». Уи шәанақәыӷәӷәалак ажурнал аҵакы ахьану адаҟьа аатуеит. Уаҟа шәара ижәбоит аҵаразы астатиақәа зегь рыхьӡқәеи рномерқәеи, насгьы егьырҭ астатиақәа рыхьӡқәа. Шәзыԥхьар шәҭаху астатиа ахьӡ шәақәыӷәӷәа.
JW Library ихадоу адаҟьаҿы иҟоу аҟәша «Новое» аҿы иҿыцу «Ахьчаратә бааш» анцәырҵлак, уи хаҳҩылаар ҳалшоит. Ихыжәҩылааз ажурнал аашәыртыр, аҵакы ахьану адаҟьа жәбоит. Статиакгьы шәцәыбжьамхарц азы уи шәахәаԥш.