Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АБИОГРАФИА

Иегова имаҵзураҿы сыззыԥшымыз ахҭыс бзиақәеи зыхә ҳараку аурокқәеи

Иегова имаҵзураҿы сыззыԥшымыз ахҭыс бзиақәеи зыхә ҳараку аурокқәеи

ИСГӘАЛАШӘОИТ санхәыҷыз ажәҩан аҿы ҳаирплан хәыҷык анызбалак, уи ихароу екзотикатә тәылак ахь сагозшәа схаҿы иаазгон. Аха сара сгәы иаанагон уи аҩыза ахаан иҟалаӡом ҳәа.

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан сҭаацәа Естониантәи Германиаҟа нхара ииасит. Уаҟоуп сара сахьизгьы. Ԥыҭрак ашьҭахь дара Канадаҟа ииасырц рыӡбеит. Канада ҳара Отта́ва азааигәара ҳанхон. Ҳара раԥхьа ҳахьынхоз акәытқәа ахьҭакыз ҩн хәыҷык аҿы акәын. Ҳара ҳӷарны ҳанхон, аха шьыжьхьа анаҳфоз, акәтаӷь ҳагӡамызт.

Ҽнак зны Иегова ишаҳаҭцәа Аатра 21:3, 4 иану сан илзаԥхьеит. Лара дамхаҵәыуартә аҟынӡа урҭ ажәақәа лгәаҵанӡа инеит. Аҵабырг ажәла аизҳара иаҿын, хара имгакәа сани саби аӡы рыҽӡаархит.

Сҭаацәа англыз бызшәа уиаҟара ирҳәаӡомызт, аха аҵабырг ахә ҳаракны иршьон. Саб Са́дбери (апровинциа Онта́рио) иҟаз аникель ахьыҟарҵоз азауад аҿы аус иуан. Иара уахынла аус уны данаалак ашьҭахьгьы, ес-сабша уҳәаратәы, саҳәшьа Сильвиеи сареи ажәабжьҳәара ҳаигон. Есымчыбжьа ҭаацәаныла «Ахьчаратә бааш» ҭаҳҵаауан. Сани саби Анцәа иахь абзиабара сыларааӡеит. Уи сгәазҭанаҵеит 1956 шықәсазы Иегова сыԥсҭазаара изкра. Усҟан 10 шықәса схыҵуан. Сҭаацәа Анцәа иахь ирымаз абзиабара ду сыԥсҭазаараҿы есымша исыцхраауан.

Сара ашкол саналга ашьҭахь доуҳала сыхьшәашәо салагеит. Сгәы иаанагон пионерс амаҵ аура салагар, адунеи зегь сакәшарц азы исымоу ахықәкы анагӡаразы аԥара сзырҳаӡом ҳәа. Сара аҭыԥантәи арадио аҿы диџьеис аусура салагеит. Сусура сгәаԥхон, аха хәылбыҽхалагьы аус улатәын. Уи иахҟьаны сара есымша аизарақәа бжьасыжьуан, насгьы Анцәа бзиа дзымбоз ауаа ҩызцәас ишьҭысхит. Аха нас сыламыс саргәаҟуа салагеит, насгьы ак шыԥсахтәыз еилыскааит.

Сара О́шаваҟа (апровинциа Онтарио) нхара сиасит. Уаҟа сара срабадырит Реи Но́рман иаҳәшьа Ле́слии иареи, насгьы егьырҭ апионерцәа. Дара ҩызцәас исзыҟалеит. Сара избон урҭ шаҟа насыԥ рымаз, убри аҟынтә схықәкқәа сеиҭарызхәыцырц сыӡбеит. Урҭ саргьы апионертә маҵзура салагарц сгәазҭарҵеит. Сентиабр мза, 1966 шықәсазы убас иагьыҟасҵеит. Сара насыԥ сыман, аԥсҭазаара салагәырӷьон. Аха аԥхьаҟа сыззыԥшымыз ирацәаны ахҭыс бзиақәа срықәшәеит, урҭ шьаҭанкыла сыԥсҭазаара рыԥсахит.

ИЕГОВА АК ШӘЫДИГАЛОЗАР, ИАРАЗНАК МАП АЦӘЫШӘЫМКЛАН

Апионерцәа рышкол аҿы аҵара анысҵоз, Торо́нто иҟаз канадатәи Вефиль аҿы амаҵ ауразы арзаҳал хасырҭәааит. Пионерс амаҵ аура саналага ашьҭахь ԥыҭк анҵы, 4 шықәса ҳәа Вефиль ахь ааԥхьара сырҭеит. Аха сара Лесли даараӡа дысгәаԥхон, убри аҟынтә уи сақәшаҳаҭхар, лара уаҳа ахаан дсымбар ҳәа сшәон. Сара ирацәаны Анцәа сиҳәон. Аҵыхәтәаны Вефиль аҟынтә исоуз ааԥхьара сыдыскылеит, насгьы сгәы шсыхьуаз Лесли абзиараз ҳәа ласҳәеит.

Вефиль аҿы раԥхьа аӡәӡәарҭаҿы амаҵ зуан, анаҩс маӡаныҟәгаҩыс сыҟан. Уи аамҭа аан Лесли Гатино́ (апровинциа Квебе́к) иҷыдоу пионерс амаҵ луан. Сара лассы-лассы схәыцуан: «Дызҿузеи лара уажәы? Ииашоума исыдыскылаз аӡбара?» Анаҩс сыззыԥшымыз, аха даара сгәы иахәаз ак ҟалеит. Лесли лашьа Реи Вефиль ахь ааԥхьара ирҭеит. Иареи сареи уаҭахк аҿы ҳанхон! Убас Леслии сареи ҳаиҩызара иацаҳҵеит. Февраль 27, 1971 шықәсазы лареи сареи ҳаибагеит. Убас убри амш азы Вефиль аҿы ԥшьышықәсатәи смаҵзура хсыркәшеит.

Араионтә маҵзура ҳалагоит. 1975 шықәса

Леслии сареи Квебек иҟаз афранцыз бызшәала имҩаԥысуаз аизарахь ҳдәықәырҵеит. Шықәсқәак рышьҭахь сызқәымгәыӷуаз даҽа хҭыс бзиакгьы сақәшәеит: араион хылаԥшҩыс амаҵ зуларц исыҳәеит. Усҟан 28 шықәса ракәын исхыҵуаз. Сара еилыскаауан сышқәыԥшцәаз, насгьы аԥышәа шсымамыз. Аха Иеремиа 1:7, 8 иану ажәақәа сгәы шьҭырхит. Сгәы змырҭынчуаз даҽакгьы ыҟан. Лесли зныкымкәа авариақәа дрықәшәахьан, убри аҟынтә зны-зынла уахынла дзыцәаӡомызт. Изланаҳагӡалозеи араионтә маҵзура? Акыр исзаԥсоу схатә ҩыза абас салҳәеит: «Иегова ак ҳадигалозар, изыҟаҳамҵарызеи?» Ҳара ҳақәшаҳаҭхеит, насгьы 17 шықәса араионтә маҵзура наҳагӡон.

Сара араионтә маҵзура иазкыз аусқәа иахьахәлаанӡа сырҿын, убри аҟынтә Лесли имаҷны аамҭа лзыскуан. Аха анаҩс уи сеилзыркааз акы сақәшәеит. Шәахьак, шьыжьымҭан аӡәы ҳаҩны ашә дасит. Адәахьы аӡәгьы дыҟаӡамызт, апикник ахь иргоз акалаҷкәыр мацара гылан, уа иҭан астолқәыршә, ашәырқәа, ашә хкқәа, ача, ԥаҭлыкак аҩы, аҵәцақәа, насгьы бӷьыцк ҭаршәын. Уа абри мацара акәын ианыз: «Уԥшәма апикник ахь дга». Аҽны амра каххаа иԥхон, аха сара Лесли иласҳәеит апикник ахь ацаха шсымам, избанзар ажәахәқәа сҽырзыҟасҵар акәын. Лара сеилылкааит, аха уи маҷк лылахь еиқәнаҵеит. Сара аҽазыҟаҵаразы снатәеит, аха сыламыс саргәаҟуа салагеит. Сара исгәалашәеит Ефесаа рахь 5:25, 28 аҿы иану ажәақәа. Иегова ихаҭа абас сеиҳәазшәа збеит: «Ре́ино, уца, уԥшәма аамҭа лызкы». Сара Анцәа сиҳәеит, нас Лесли иласҳәеит: «Баала!» Лара илаҳаз лызхаҵомызт. Ҳара аӡиас азааигәара ҭыԥ ԥшӡак ԥшааны астолқәыршә нкаҳаршәит. Уи лареи сареи еицаҳхаҳгаз зегьы иреиӷьыз амшқәа ируакын. Уимоу, ажәахәқәа рҽырзыҟаҵарагьы сахьӡеит.

Ҳара араионтә маҵзура ҳгәаԥхон. Канада ахы инаркны аҵыхәанӡа ҳакәшеит: Британиатәи Колумбиа инаркны, Ньиуфа́ундленднӡа. Еиуеиԥшым ақалақьқәа рбаразы исымаз сгәыхәтәы наӡеит. Сара Галаад ашкол аҿы аҵара аҵара сазхәыцуан, аха миссионерс амаҵ аура сҭахӡамызт. Сара сгәы иаанагон амиссионерцәа зынӡа даҽа уаауп ҳәа, насгьы уи сара истәым ҳәа сыԥхьаӡон. Уи адагьы сара сшәон аепидемиақәа ахьыҟаз, насгьы аибашьрақәа ахьцоз африкатәи тәылак ахь срышьҭыр ҳәа. Сара Канада амаҵ ахьызуаз сгәырӷьон.

СЫЗҚӘЫМГӘЫӶУАЗ ДАҼА ХҬЫС БЗИАК: ЕСТОНИЕИ БАЛТИА АТӘЫЛАҚӘЕИ РАХЬ ААԤХЬАРА

Балтиа атәылақәа ҳрыкәшоит

1992 шықәсазы Иегова ишаҳаҭцәа дырҩегь алшара роуит уаанӡа Асовет мчра шьақәзыргылоз атәылақәа рҿы ажәабжь аҳәара. Убасҟан ҳара Естониа миссионерцәас амаҵ ҳауларц иҳаҳәеит. Ҳара уи ҳаззыԥшымыз ак акәхеит, аха Анцәа ҳиҳәарц ҳаӡбеит, насгьы дырҩегь абас ҳхәыцит: «Иегова акы ҳадигалозар, ҳзақәшаҳаҭымхарызеи?» Ҳара ҳақәшаҳаҭхеит, насгьы сара сгәы рҭынчны абас сҳәеит: «Африка ҳахьырмышьҭыз ауп».

Ҳара иаразнак аестон бызшәа аҵара ҳалагеит. Мызқәак рышьҭахь ҳара иҳаҳәеит араионтә маҵзура ҳалагарц. Ҳара ҳарҭаалар акәын 46 еизареи балтиатәи атәылақәа хԥа рҿи Калинингради иҟаз гәыԥқәаки. Убри аҟынтә алатыштә, алитовтә, насгьы урыс бызшәала маҷк иадамзаргьы ҳцәажәалар акәын. Уи мариамызт, аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳџьабаа ахә ҳаракны иршьон, насгьы ҳацхраара еснагь иазхиан. 1999 шықәсазы Естониа афилиал аатит, сара уа акомитет аҿы амаҵ рыцызуа салагеит То́мас Е́дур, Ле́мбит Ра́ил, насгьы То́мми Ка́уко.

Армарахь. Литва аконгресс аҿы ажәахә сыманы сықәгылоит

Арӷьарахь. 1999 шықәсазы еиҿкааз естониатәи афилиал акомитет

Ҳара ҳрабадырит зны Сибраҟа ирышьҭыз Иегова ишаҳаҭцәа рацәаҩны. Урҭ гәымбылџьбарала ишрызныҟәозгьы, насгьы рҭаацәа ирылганы ишыргазгьы, дара гәымбылџьбарамхаӡеит, насгьы агәырӷьареи Анцәа иӡбахә аҳәаразы агәаҳәареи дмырӡӡеит. Урҭ рҿырԥшы агәра ҳнаргеит ҳаргьы зегь ҳхаҳгар, насгьы иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы агәырӷьара ҳмырӡыр шҳалшо.

Акыршықәса рыҩныҵҟа инаҳагӡоз амаҵзура аан уиаҟара аԥсшьаха ҳамаӡамызт. Зны Лесли зынӡа лымч каԥсо далагеит. Ҳара иаразнак иаҳзеилымкааӡеит уи афибромиалгиа ишадҳәалаз. Ҳара Канадаҟа ҳхынҳәырцгьы ақәаҳкит. Па́ттерсон (аштат Ниу-Иорк, Еиду Аштатқәа) имҩаԥысуаз афилиал акомитет аҿы амаҵ зуа аишьцәа рзы иҟаз ашкол ахь санаарыԥхьа, уахь ҳазцо-ҳзымцо сыздыруамызт. Ҳара ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа ҳиҳәон. Нас ҳақәшаҳаҭхарц ҳаӡбеит. Иегова уи аӡбара дазылԥхеит. Сара аҵара сҵонаҵы Лесли убриаҟара илҭахыз ахәышәтәра лоуит. Аамҭак ашьҭахь ҳара абжьааԥны ҳазҿыз аусқәа рахь ҳхынҳәит.

СЫЗҚӘЫМГӘЫӶУАЗ ДАҼА ХҬЫС БЗИАК: ДАҼА КОНТИНЕНТК

Хәылбыҽхак, 2008 шықәсазы, Естониа ҳаныҟаз ихадоу аусбарҭа аҟынтә аҭел исзасын, Конгоҟа аиасра шәазхиоума ҳәа исазҵааит. Сара исаҳаз сызхаҵомызт, уимоу, аҭак адырҩаҽны ирыҭатәын. Сара исыӡбеит Лесли уи ауха акгьы ласымҳәарц, избанзар издыруан иласҳәазҭгьы, аухантәарак дшызмыцәоз. Аха схаҭа соуп аухантәарак измыцәаз. Сара Иегова сиҳәон, насгьы Африкаҟа ацара сзацәшәо изеиҭасҳәон.

Адырҩаҽны Лесли зегь лзеиҭасҳәеит. Ҳара абас ҳхәыцит: «Иегова Африкаҟа ааԥхьара ҳаиҭеит. Иабантәиаадыруеи акгьы шаҳзалымҵуа, уи ҳаламгацзар?» Убри аҟынтә Естониа 16 шықәса амаҵ анаҳау ашьҭахь Кинша́суҟа ҳцеит. Уаҟа афилиал акәша-мыкәша иаҵәаран, насгьы ҭынчран. Лесли иаразнак луаҭах аҿы иқәлыргылеит Канадагьы илзықәгылаз аоткрытка. Уа абарҭ ажәақәа анын: «Уахьеиҭарҳаз ушәҭла». Конго аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрабадырит, насгьы Абиблиа аҵарақәа ҳауит. Убасҟан ҳмиссионертә маҵзура агәырӷьара ду ҳзаанаго ҳалагеит. Ҳара иҳарҳәеит егьырҭ афилиалқәагьы ҳарҭааларц. Уи абзоурала Африка иҟоу 13 тәыла ҳархысит. Ҳара ҳрабадырит еиуеиԥшым ажәларқәа рҟынтә ауаа, насгьы урҭ рыԥшӡара ҳбеит. Уаанӡа исымаз ашәара ныҵаба ицеит. Ҳара Иегова даараӡа ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Африкаҟа ҳахьишьҭыз.

Конго еиуеиԥшымыз афатә хкқәа ҳадыргалон, ахәаҷа-маҷа агьама абарагьы уахь иналаҵаны. Уаанӡа уи аҩыза сҿы иҭасҵап ҳәагьы сыҟамызт. Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи убас рҽақәырԥсны ирфон, ҳаргьы агьама ҳбарц ҳаӡбеит, ҳагьахьымхәӡеит.

Атәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟаз ақыҭақәа апартизанцәа ақәлон. Еиҳараӡак ааха зауаз аҳәсеи ахәыҷқәеи ракәын. Ҳара урҭ аҭыԥқәа рахь адоуҳатә фатә наҳгон, насгьы агуманитартә цхыраара раҳҭон. Иегова ишаҳаҭцәа реиҳараҩык даара иӷарны инхон, аха аԥсҭалара шыҟало ала ргәыӷра ӷәӷәан, Иегова гәыкала бзиа дырбон, насгьы иорганизациа гәыкала иазыҟан. Уи ҳара ҳгәы ҟанаҵон. Дара рҿырԥшы ҳара ҳгәазҭанаҵеит Иегова имаҵ заҳуа даҽазныкгьы азхәыцра. Уи ҳхаҵара арӷәӷәеит. Аишьцәа шьоукы рыҩнқәеи раарыхрақәеи рцәыӡит. Сара ибзианы еилыскааит ауаҩы шаҟа ирласны амал ицәыӡыр илшо, насгьы адоуҳатә мал шаҟа ихадоу. Аишьцәа аԥышәара ӷәӷәақәа ишрықәшәозгьы, шамахамзар ада рхы иахашшааӡомызт. Уи ҳара ҳгәы шьҭнахуан. Ҳара еилаҳкааит агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, ма даҽа ԥышәарақәак ҳанрықәшәогьы, ҳгәы каҳмыжьлар шаҟа ихадоу.

Армарахь. Ахҵәацәа рҿаԥхьа ажәахә сыманы сықәгылоит

Арӷьарахь. Агуманитартә цхыраареи ахәшәқәеи Дунгуҟа иаҳгоит (Адемократиатә Ҳәынҭқарра Конго)

АЗИАҞА ҲРЫШЬҬУЕИТ

Аха уи ала ҳазыԥшӡамкәа ҳзықәшәоз аҳҭысқәа нымҵәаӡеит: ҳара Гонконг иҟоу афилиал ахь ҳаиасырц иҳаҳәеит. Мрагылара ҳанхалоит ҳәа ахаан ҳгәы иаанагомызт! Аха уи ҳақәшаҳаҭхеит, избанзар иаҳхысыз ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова дышҳаиҷаҳауа изныкымкәа иаҳбахьан. 2013 шықәсазы ҳара ҳашҵәыуоз Африка инхо акыр иаҳзаԥсоу ҳҩызцәеи уа иҟоу аԥшӡареи абзиараз ҳәа раҳхәар акәхеит. Ҳара аԥхьаҟа иаҳзыԥшыз ҳаздырӡомызт.

Африка ашьҭахь Гонконг даҽа дунеик еиԥш иаҳбеит. Уа ажәлар рацәоуп, насгьы ауаа есымша еилыхо еилоуп. Кантонтәи адиалектгьы аҵара мариамызт. Аха бзиа ҳазбоз ҳашьцәа ҳацхраауан. Уи адагьы, ҳара аҭыԥантәи афатә ҳгәаԥхеит. Вефиль аҿы аусутә еиҳа-еиҳа ирацәахон, аха аҩнқәеи аргыларақәеи рыхә уамыхәо аҟынӡа ирласны иазҳауан. Убри аҟынтә Анапхгаратә хеилак ирыӡбеит афилиал иаҵанакуаз аргыларақәа реиҳарак рҭиирц. Хара имгакәа, 2015 шықәсазы, ҳара Аладатәи Кореиаҟа ҳаиаргеит, ара иахьагьы амаҵ ҳуеит. Акореи бызшәа мариаӡам. Уи иҵегьы иаҳҵалар шакәугьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҳамоу аихьӡарақәа рзы ҳдырҽхәоит. Ҳара уи даара ҳгәы шьҭнахуеит.

Армарахь. Гонконг анхара ҳалагоит

Арӷьарахь. Кореиатәи афилиал

ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ИАҲНАРҴАЗ

Аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара мариаӡам. Аха ҳара еилаҳкааит: асасдкылара ҳара раԥхьа иааҳарԥшлар, ирласны зегьы ҳрабадыруеит. Уи адагьы ҳара еилаҳкааит аишьцәа еицырзеиԥшу еиҳа ишырацәоу, урҭ злеиԥшым аасҭа. Иегова иџьашьахәу алшара ҳалаҵан ҳаишеит: ҳара ирацәаҩны ауаа ҳгәы рзааҳартыр, насгьы ҳарҩызцәахар ҳалшоит (2 Кор. 6:11).

Ҳара еилаҳкааит Иегова ауаа дшырзыҟоу еиԥш ҳаргьы ҳарзыҟазар шҳахәҭоу, насгьы бзиа ҳшибо, дшаҳхылаԥшуа гәаҳҭалар шакәу. Ҳгәы анкаҳауаз, ма аӡәгьы бзиа ҳаибаӡом ҳәа ҳгәы ианаанагоз ҳҩызцәа иҳарҭахьаз аоткрыткақәеи асаламшәҟәқәеи ҳаиҭарыԥхьон. Ҳара ҳхатә ԥышәала еилаҳкааит Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо. Иара есымша дҳацхраауан, ҳагәгьы шьҭихуан.

Арҭ ашықәсқәа раан Леслии сареи еилаҳкааит егьа ҳаилахазаргьы, аамҭа еицаҳхаҳгалар шхадоу. Иара убас ҳара еилаҳкааит зны-зынла ухы уахыччаргьы шыбзиоу, еиҳараӡак абызшәа ҿыц уҵозар. Есыхәылбыҽха ҳара ҳҽазаҳшәоит Иегова ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәар ҳҭаху акы алацәажәара.

Иаартны иуҳәозар, сара миссионерс амаҵ зулоит ҳәа, насгьы егьырҭ атәылақәа рҿы сынхалоит ҳәа ахаан сгәы иаанагомызт. Аха сара агәра згеит Иегова дануцу зегь шулшо. Схахьы иааиуеит аԥааимбар Иеремиа иажәақәа: «Уара сужьеит, Иегова» (Иер. 20:7). Ааи Иегова ҳгәы иахәаз, ҳазқәымгәыӷуаз ахҭысқәа рацәаны ҳрықәиршәеит, насгьы зеиԥшыҟам аҳамҭақәа рацәаны иҳаиҭеит — ҳаирпланла џьара ацаразы исымаз сгәыхәтәгьы наигӡеит. Афилиалқәа ҳанырҭаауаз ҳара хә-континентк ҳархысит. Санхәыҷыз уи аҩыза схаҿгьы исзаагомызт. Иарбан дҵақәазаалакгьы иҳарҭоз Лесли есымша цхырааҩ бзиан дсывагылан. Уи азы сара даара лыхә ҳаракны исшьоит.

Ҳара есымша иаҳгәалаҳаршәоит ззыҳәан аџьабаа ҳбо, насгьы уи заҳбо. Иахьатәи ҳаԥсҭазаара бзиа — уи аԥхьаҟа иаҳзыԥшу наӡаӡатәи аԥсҭазаара аҟынтә имаҷӡоу хәҭак ауп. Усҟан Иегова инапы ааиртуеит, насгьы зыԥсы ҭоу зегьы ргәыхәтәқәа наигӡоит! (Аԥсал. 145:16).