Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 26

Иегова имш шәазхиаз

Иегова имш шәазхиаз

«Иегова имш аӷьыч уахынла дшааиуа еиԥш [иааиуеит]» (1 ФЕС. 5:2).

АШӘА 143 Амаҵ ууроуп, уԥшыроуп, уазхәыцроуп

АХҲӘАА a

1. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара Иегова имш аан ҳаиқәхарц азы?

 «ИЕГОВА имш» ҳәа Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Зегьзымчу Анцәа иаӷацәа данрықәыӡбо, насгьы имаҵзуҩцәа анеиқәирхо аамҭа ауп иаҵанакуа. Ажәытәан Иегова жәларқәак ахьирхәуан (Ис. 13:1, 6; Иез. 13:5; Соф. 1:8). Ҳаамҭазы «Иегова имш» алагоит Вавилон ду ақәлара ала, насгьы аибашьра Армагеддон ала ихыркәшахоит. Уи «амш» аҽны ҳаиқәхарц азы уажәнатә аҽазыҟаҵара ҳалагароуп. Избанзар Иисус иҳәон арыцҳара ду еснагь ҳазыҟаҵазар шҳахәҭоу (Матф. 24:21; Лука 12:40).

2. Избан 1 Фессалоникаа рахь иану ҭаҳҵаар зхәарҭоу?

2 Апостол Павел фессалоникаа ирзиҩыз актәи асаламшәҟәаҿы ҿырԥштәқәак ааигеит, ақьырсианцәа Иегова иӡбара амш ду аҽазыҟаҵара дрыцхраарц азы. Павел идыруан Иегова имш ааира акыр шагыз (2 Фес. 2:1—3). Аха иара уеизгьы иашьцәа ргәазҭеиҵон уи амш уаҵәы иааиуашәа рҽазыҟарҵарц. Ҳаргьы Павел илабжьара ҳхы иаҳархәар ҳалшоит. Шәааи ҳалацәажәап: 1) Иегова имш шааиуа, 2) уи амш зызхымго зусҭцәоу, насгьы 3) уи амш ҳҽазыҟаҳҵар шҳалшо.

ИШԤААИУЕИ ИЕГОВА ИМШ?

Апостол Павел фессалоникаа ирзиҩыз актәи асаламшәҟәаҿы иахьа иҳацхраар алшо ҿырԥштәқәак ааигеит. (Шәахәаԥш абзац 3.)

3. Избан Иегова имш аӷьыч изиҿырԥшу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

3 «Аӷьыч уахынла дшааиуа еиԥш» (1 Фес. 5:2). Ари Павел Иегова имш шааиуа даналацәажәоз ихы иаирхәаз х-ҿырԥштәык рҟынтә актәи ауп. Лассы-лассы аӷьычцәа аԥшәмацәа зынӡа ианымгәыӷуа алашьцара рҽалакны ирласны рус ҟарҵоит. Ауаа реиҳараҩык рзы Иегова имшгьы убас еиԥш ишымгәыӷуа иааиуеит. Иҟалап ииашоу ақьырсианцәагьы иџьаршьар шаҟа ирласны ахҭысқәа мҩаԥысло. Аха ауаа цәгьақәа реиԥш акәымкәа, ҳара ҳаиқәхоит.

4. Избан Иегова имш ахшара дзоураны иҟоу аԥҳәыс лхьаақәа ирыҿурԥшыр залшо?

4 «Ахшара дзоураны иҟоу аԥҳәыс лхьаақәа иаалырҟьаны ишцәырҵуа еиԥш» (1 Фес. 5:3). Ахшара дзоураны иҟоу аԥҳәыс лаамҭа анааиуа лыздырӡом. Аха лара илдыруеит уи дышзацәымцо. Абжьааԥны аԥҳәыс иаалырҟьаны ауп ахшароура дшалаго. Уи ахьаа ацуп, насгьы хырԥашьа амам. Убас еиԥш ҳаргьы Иегова имш аналаго амши асааҭи ҳаздырӡом. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп уи амш хымԥада ишааиуа, насгьы Анцәа ауаа цәгьақәа данрықәыӡбо аамҭа иаалырҟьаны ишааиуа хырԥашьагьы шамоуа.

5. Избан арыцҳара ду ацәылашамҭа иаҿурԥшыр залшо?

5 Ацәылашамҭа еиԥш. Павел ахԥатәи иҿырԥштәы аҿы дырҩегь уахынла иқәыло аӷьычцәа рыӡбахә иҳәоит. Аха ишаҳбо еиԥш, уажәы иара Иегова имш ацәылашамҭа иаҿирԥшуеит (1 Фес. 5:4). Аӷьычцәа рус иалашыҩкны аамҭа рцәыӡыр алшоит. Ашара адәы ианаақәлалак, зегьы урҭ зҿу рбарҭахоит. Убас еиԥшҵәҟьа арыцҳара ду аан аӷьычцәа реиԥш алашьцара иатәу, хәарҭа злам аусқәа ирҿу ауаа каххаа иааԥшуеит. Аха, урҭ ауаа реиԥш акәымкәа, ҳара Иегова имш ҳҽазыҟаҳҵар ҳалшоит, иара ицәымӷу ахымҩаԥгашьа ҳаҿагыланы, «абзиареи, аиашареи, аҵабырги» ҳхы рзаҳашьҭуазар (Еф. 5:8—12). Анаҩс Павел ҩ-ҿырԥштәык ихы иархәаны Иегова имш аан зхы ззеиқәмырхо зусҭцәоу ҳаилиркаауеит.

ИЗЫЗХЫМГОДА ИЕГОВА ИМШ?

6. Избан ауаа реиҳараҩык ыцәоуп ҳәа уҳәар залшо? (1 Фессалоникаа рахь 5:6, 7).

6 «Ицәоу». (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:6, 7.) Иегова имш зызхымго ауаа Павел ицәоу ирыҿирԥшит. Дара рыкәша-мыкәша иҟоу ахҭысқәеи аамҭа шцои рбаӡом, убри аҟынтә дара ихадоу ахҭысқәа рызгәаҭаӡом, мамзаргьы акгьы рзыҟаҵаӡом. Иахьа ауаа реиҳараҩык доуҳала ицәоуп (Рим. 11:8). Дара хьаасгьы иркӡам ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳшынхо, насгьы иаарласны арыцҳара ду шалаго узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа. Адунеи аҿы ак аныҟалалак, ауаа уи ацәа иалнахуеит, насгьы Аҳра иазку ажәабжь ахь маҷк аинтерес роуеит. Аха уеизгьы алахҿыхзаара аҭыԥан аӡәырҩы ҿыц ацәа иҭанагалоит. Ақәыӡбара амш шааиуа агәра зго рҟынтә шьоукгьы уи макьана иааӡом ҳәа ргәы иаанагоит (2 Пиотр 3:3, 4). Аха шәлахҿыхыз ҳәа ақьырсианцәа ирыҭоу алабжьара аамҭа цацыԥхьаӡа ҳара ҳзы еиҳа-еиҳа ихадахоит.

7. Избан Анцәа иқәиго ауаа арыжәтә иашьны иҟоу ирыҿурԥшыр залшо?

7 «Изжәуа». Апостол Павел Анцәа иқәиго ауаа арыжәтә зҽазыршьуа ирыҿирԥшит. Арыжәтә иашьыз ауаҩы ашәарҭара иаразнак изгәаҭаӡом, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара илшаӡом. Ауаа цәгьақәагьы убас рзуҳәар алшоит. Дара Анцәа игәҽанҵарақәа ирзыӡырҩӡом. Урҭ ҭазырхо амҩа ианылеит. Аха Абиблиа ақьырсианцәа ирабжьнагоит аҟәышра аадырԥшларц, насгьы илахҿыхзарц (1 Фес. 5:6). Абиблиаҭҵааҩык излеиҳәаз ала уи иаанаго ауаҩы агәҭынчра анимырӡуа, аҟәышра анааирԥшуа, ашәара иҽанеимҭо, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа анидикыло ауп. Избан ҳара агәҭынчреи аҟәышреи заҳҭаху? Ари адунеи аусқәа ҳаҽрылаҳамгалаларц азы. Ҳара аполитикатә зҵаарақәа мамзаргьы ажәлар ишьҭырхуа азҵаарақәа рҿы аӡәы иган аанаҳкыларц иҳақәыӷәӷәозар ауеит. Иегова имш ааигәахацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иҳақәыӷәӷәалоит. Аха ҳара урҭ ираҳҳәарызеи ҳәа ҳшәалар акәӡам. Анцәа идоуҳа ҳацхраауеит агәҭынчра амырӡреи, аҟәышра аарԥшреи, аҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылареи (Лука 12:11, 12).

ИШԤАҲАЛШО ИЕГОВА ИМШ ҲҼАЗЫҞАҲҴАР?

Аӡәырҩы ауаа Иегова имш иазхәыцӡом. Аха ҳара уи амш ҳазхиоуп, избанзар есымша ахаҵареи абзиабареи ргәышԥыхьчага ҳшәуп, насгьы агәыӷра ахыхьчага ҳхоуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 12.)

8. Изҿырԥшузеи 1 Фессалоникаа рахь 5:8 аҿы ҳлахҿыхзарц, насгьы ҳҟәышзарц иҳацхраауа аҟазшьақәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

8 «[А]гәышԥыхьчага ҳшәаҳҵап... ахыхьчага... ҳхаҳҵап». Павел еснагь згәызҽану, бџьарла ибзианы еибыҭоу аруаҩ ҳаиҿирԥшит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:8.) Аруаҩ ианакәзаалак аибашьра дазхиазароуп. Ҳаргьы убас ҳзуҳәар алшоит. Ҳара Иегова имш ҳазхиазаауеит, ахаҵареи абзиабареи ргәышԥыхьчага ҳшәызар, насгьы агәыӷра ахыхьчага ҳхазар. Арҭ аҟазшьақәа — ахаҵареи, абзиабареи, агәыӷреи — рыда ԥсыхәа ҳамаӡам.

9. Ҳашԥахьчо ахаҵара?

9 Агәышԥыхьчага аруаҩ игәы ахьчон. Ахаҵареи абзиабареи асимволтә ҵакы змоу ҳгәы рыхьчоит. Дара ҳацхраауеит Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу аанхареи Иисус ишьҭа ҳхыланы ацареи. Ҳара ахаҵара ҳамазар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова гәык-ԥсыкала иԥшаара ҳахьашьҭоу азы дшаҳзылԥхо (Аур. 11:6). Уи ҳгәазҭанаҵоит ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәаргьы, Ҳаԥхьагылаҩ Иисус гәыкала ҳшизыҟоу аанхара. Ахаҵара ҳацхраауеит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара. Ҳара ҳарҿыԥшлар ҳалшоит ашьҭашәарыцарақәа ма аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирмыхәаԥшӡакәа Анцәа гәыкала ишизыҟаз иаанхаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Уи адагьы ахаҵара ӷәӷәа ҳацхраауеит аматериализм аҽацәыхьчара. Уи азы ҳарҿыԥшлароуп Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргыларазы зыԥсҭазаара зырмариаз ауаа b.

10. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа иахь, насгьы иаҳзааигәоу ауаа рахь иҳамоу абзиабара ачҳара аарԥшны анаҩсгьы ажәабжь аҳәара?

10 Ҳлахҿыхзарц, насгьы аҟәышра ааҳарԥшларц азы абзиабара ҳалазароуп (Матф. 22:37—39). Анцәа иахь иҳамоу абзиабара ҳацхраауеит ҳзықәшәо еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳармыхәаԥшӡакәа ачҳара аарԥшны анаҩсгьы ажәабжь аҳәара (2 Тим. 1:7, 8). Ҳхаҵара ҳацеиҩызымшо ауаа бзиа иаҳбоит аҟынтә ҩнаҭацыԥхьаӡа, ҭелла, насгьы асаламшәҟәқәа рыла ажәабжьҳәара ҳаҟәыҵӡом. Ҳара ҳгәыӷуеит мышкызны иаҳзааигәоу ауаагьы Анцәа имаҵ аура иалагап ҳәа (Иез. 18:27, 28).

11. Ишԥаҳацхраауеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара? (1 Фессалоникаа рахь 5:11).

11 Аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы иаҳзааигәоу роуп. Ҳара урҭ рахь абзиабара ааҳарԥшуеит Павел илабжьара ҳанықәныҟәо. Иара иҳәеит: «Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, шәеибарӷәӷәала». (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:11.) Аибашьцәа еивагыланы еибашьуан, насгьы аӡәы ацхыраара иҭаххар, ицхраара иазхиан. Ҳаргьы ҳгәы шьҭибахуеит ҳаибарӷәӷәоит. Ҳәарада, аибашьра аилашымҭаз аруаҩ иҭахӡамкәа иҩыза дихәыр илшон. Аха иара ахаан идырны уи ҟаиҵарымызт. Убас еиԥш ҳаргьы ахаан идырны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы дҳархьӡом мамзаргьы аӡәы цәгьарак ҳзиузар, ҳшьа ҳауӡом (1 Фес. 5:13, 15). Иара убас ҳара абзиабара ааҳарԥшуеит напхгара ҳзызуа аишьцәа пату рықәаҳҵозар (1 Фес. 5:12). Павел фессалоникаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз уа иҟаз аизара шықәсыкгьы ахыҵӡомызт. Иҟалап уатәи аизара аиҳабацәа аԥышәа рымамызҭгьы агхақәагьы рыхьуазҭгьы. Аха уеизгьы дара пату рықәҵалатәын. Арыцҳара ду ааигәахоит, убри аҟынтә аԥхьаҟа еиҳагьы ихадахар ауеит аизара аиҳабацәа иҳарҭо алабжьарақәа рзыӡырҩра. Иҟалап анапхгаратә хеилаки ҳареи ма афилиали ҳареи аимадара ҳмоур. Убри аҟынтә даараӡа ихадоуп уажәнатә аизара аиҳабацәа бзиа рбашьеи пату рықәҵашьеи ҳҵалар! Шәааи иҟалалакгьы аҟәышра ааҳарԥшлап, насгьы аизара аиҳабацәа ирыгу акәымкәа, Иегова Христос ила гәыкала иҟоу урҭ ахацәа шымҩақәиҵо ҳхы азаҳашьҭлап.

12. Ишԥахьчо агәыӷра ҳхәыцшьа?

12 Ахыхьчага аруаҩ ихы шахьчоз еиԥш, агәыӷра ҳхәыцшьа ахьчоит. Агәыӷра ӷәӷәа абзоурала ҳара еилаҳкаауеит ари адунеи иаҳнаҭар алшо аҟынтә иаԥсоу ҳәа акгьы шыҟам (Флп. 3:8). Агәыӷра ҳацхраауеит иҟалалакгьы агәҭынчра ахьчара. Уи ус шакәу агәра ргеит Африка амаҵ зуа Уо́ллиси Лори́ндеи. Хымчыбжьа ирылагӡаны Уоллис иаб дыԥсит, Лоринда лан дыԥсит. Аха ковид иахҟьаны рҭынхацәа рааигәара иҟазарц азы аҩныҟа изымцаӡеит. Уоллис иҩит: «Аԥсҭаларазы иҳамоу агәыӷра сыцхраауеит дара иажәхьоу ари адунеи аҿы аҵыхәтәантәи рымшқәа шырхыргаз акәымкәа, адунеи ҿыц аҿы раԥхьатәи рымшқәа зеиԥшрахо азхәыцра. Дара ахьҳагхаз азы сгәы ансыхьуа, агәыӷра агәҭынчра снаҭоит».

13. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи иԥшьоу адоуҳа ҳауларц азы?

13 «Амца иаҩызоу Анцәа идоуҳа шәмырцәан» (1 Фес. 5:19). Павел иԥшьоу адоуҳа амца иаҿирԥшит. Анцәа идоуҳа абзоурала ҳара ииашаны ахымҩаԥгаразы агәаҳәареи Иегова имаҵ ауразы амчи ҳамоуп (Рим. 12:11). Иҟаҳҵалар ҳалшозеи иԥшьоу адоуҳа ҳауларц азы? Ҳара иҳалшоит уи азы Анцәа ҳиҳәалар, Анцәа идоуҳала иҩыз Абиблиа ҭаҳҵаалар, насгьы Анцәа идоуҳа напхгара знаҭо иорганизациеи ҳареи аџьабаа еицаҳбалар. Уи иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа раарԥшра иҳацхраауеит (Гал. 5:22, 23).

Шәхы шәазҵаа: «Иубарҭоума сусқәа рыла Анцәа идоуҳа соулар шысҭаху?» (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи Анцәа анаҩсгьы идоуҳа ҳаиҭаларц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Анцәа иԥшьоу идоуҳа анҳаулак, уи амцабз ҳмырцәар ауп. Анцәа уи зиҭо зхәыцшьеи зхымҩаԥгашьеи цқьоу ауаа мацара роуп. Иара идоуҳа ҳаиҭалаӡом ицқьам акы ҳазхәыцлар, насгьы иҽеим ахәыцрақәа ҳаҽраҳҭалар (1 Фес. 4:7, 8). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы ҳара иара убас 1 Фессалоникаа рахь 5:20 иану ажәақәа ҳрықәныҟәалароуп: «Аԥааимбаражәақәа тәамбашақә шәырзымнеилан» (1 Фес. 5:20). Ара «аԥааимбаражәақәа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу — уи Анцәа иԥшьоу идоуҳала иҳаиҳәо зегь ауп. Уахь иаҵанакуеит Иегова имши, иҷыдоу иахьатәи ҳаамҭеи ирызку ажәабжьқәагьы. Ҳара уи амш наскьаҳгаӡом, Армагеддон ааиаанӡа ҳҟалаӡом ҳәа ҳхәыцуа. Ҳара уи еиҳагьы иааскьаҳгоит, даҽакала иуҳәозар ишааигәоу ҳхаҳаршҭӡом. Излоубарҭахозеи уи? Уи убарҭахоит ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгозар, насгьы адоуҳатә усқәа ҳамчқәа зегь рзаҳкуазар (2 Пиотр 3:11, 12).

«ЗЕГЬ ГӘАШӘҬАЛА, ИИАШОУ-ИИАШАМУ ЕИЛЫШӘКААЛА»

15. Иҟаҵалатәузеи ииашам аинформациеи адемонцәа рыпропагандеи ҳаҿамшәарц? (1 Фессалоникаа рахь 5:21).

15 Иаарласны Анцәа иаӷацәа ауаа абас рыларҳәоит: «Абар аҭынчра, ашәарҭара ыҟаӡам!» (1 Фес. 5:3). Адемонцәа рыпропаганда адгьыл иахыҵәоит, уи амц ауаа реиҳараҩык агәра ргоит (Аат. 16:13, 14). Аха «зегь гәашәҭала, ииашоу-ииашаму еилышәкаала» ҳәа Павел иҳаиҭаз алабжьара ҳазыӡырҩыр, уи амц ҳаҿашәаӡом. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:21.) «Игәашәҭала» ҳәа ара еиҭагоу абырзен ажәа зыхә ҳараку аметаллқәа реиҩдыраара аӡбахә ианалацәажәоз рхы иадырхәон. Ус анакәха ҳара иҳаҳауеи ҳзыԥхьои ииашоу-ииашаму гәаҳҭалароуп. Фессалоника инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы уи даара ихадан. Иаарласны ҳара ҳзы уи еиҳагьы ихадахоит, избанзар арыцҳара ду ааигәахара иаҿуп. Ауаа ирҳәо иаразнак агәра агара аҭыԥан, ҳара аҟәышра ааҳарԥшлароуп. Ҳара ҳзыԥхьои, иҳаҳауеи, Абиблиа иаҳәои, Иегова иорганизациа иҳанаҳәои еиҿҳарԥшлароуп. Убасҟан адемонцәа рыпропаганда ҳажьаӡом (Ажәам. 14:15; 1 Тим. 4:1).

16. Иарбан гәыӷроу ҳара иҳамоу, насгьы ҳгәы зызҭанаҵозеи уи?

16 Анцәа ижәлар арыцҳара ду рхыргоит. Хаҭала ҳара ҳтәы ҳҳәозар, уаҵәы иаҳзыԥшу ҳаздырӡом (Иак. 4:14). Аха Армагеддон ааиаанӡа ҳаԥсыргьы, агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу ҳаанхар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ишҳауа. Доуҳала иалху ақьырсианцәа Христос ажәҩан аҿы ицҟалоит, егьырҭ ауасақәа џьанаҭ дгьыл аҿы инхалоит. Шәааи зеиԥшыҟам ҳгәыӷра ҳазхәыцлап, насгьы Иегова имш ҳҽазыҟаҳҵап!

АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала

a 1 Фессалоникаа рахь 5-тәи ахаҿы ухаҿы иаанхо аҿырԥштәқәеи аиҿырԥшрақәеи аагоуп. Урҭ иҟалараны иҟоу Иегова имш иазкны иҳаилдыркаар алшо рацәоуп. Изакә «мшузеи» уи, насгьы ишԥааиуеи? Изхызгода, насгьы изызхымгода уи? Ҳҽазыҟаҳҵар шԥаҳалшо уи амш? Ҳара апостол Павел иажәақәа ҭаҳҵаауеит, насгьы арҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵоит.