Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 28

Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааит

Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааит

«Ииашаны зхы мҩаԥызго Иегова дицәшәоит» (АЖӘАМ. 14:2).

АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!

АХҲӘАА a

1, 2. Излеиԥшузеи иахьа ақьырсианцәа зықәшәо ауадаҩрақәеи Лот иҭагылазаашьеи?

 ИАХЬАТӘИ адунеи аҿы инхо ауаа еиҳа-еиҳа аԥхасҭахара иаҿуп. Ҳара уи ибзианы иаҳбоит, убри аҟынтә иуаҩ иашаз Лот ибзианы деилаҳкаауеит. Иара ԥхашьарак зламыз агәнаҳаҟаҵаҩцәа рхымҩаԥгашьа игәы инархьуан, избанзар идыруан жәҩантәи Ҳаб ус еиԥш иҟоу аусқәа шицәымӷу (2 Пиотр 2:7, 8). Лот Анцәа дицәшәон, насгьы бзиа дибон. Уи ицхраауан дызланхоз ауаа рхымҩаԥгашьа аҽацәыхьчара. Ҳара иахьа ҳазланхо ауаа рзгьы Иегова инормақәа акгьы аанагаӡом, ма иаанаго маҷуп. Аха ҳара ҳацқьаны ҳаанхалар ҳалшоит. Уи азы Анцәа иахь абзиабареи аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәареи еизҳарҳалароуп (Ажәам. 14:2).

2 Иегова дҳацхраарц азы ашәҟәы Ажәамаанақәа ҳаиҭеит. Ари ашәҟәы ииашаны ахымҩаԥгара ҳгәазҭанаҵоит. Ақьырсианцәа зегьы — ахацәагьы, аҳәсагьы, зықәрахь инеихьоугьы, иқәыԥшугьы — уи ашәҟәы иану иҟәыӷоу аӡбарақәа рызхәыцра ахәарҭа ду рзаанагоит.

АНЦӘА ИҾАԤХЬА ИҲАМОУ АШӘАРА ҲАХЬЧОИТ

Ҳара аусураҿы ҳзацәажәои шаҟа аамҭа ҳрацәажәои анаҳаӡбо, насгьы џьара ааԥхьара анҳарҭо ҳгәаҳҽанызароуп. (Шәахәаԥш абзац 3.)

3. Избан Ажәамаанақәа 17:3 иану инақәыршәаны, ҳгәы ҳахьчалар зҳахәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

3 Ҳара асимволтә ҵакы змоу ҳгәы ҳахьчалароуп, избанзар Иегова уи иҭаҵәаху зегь идыруеит. Ус анакәха, иара ауаа ирымбогьы ибоит. Анцәа ҳзеиԥшраҵәҟьоу идыруеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 17:3.) Иара игәаԥхоит аԥсҭазаара узҭо аҟәыӷарала, даҽакала иуҳәозар, иара иҟәыӷарала ҳахшыҩ анҳарҭәуа (Иоанн 4:14). Убри азоуп Аҩсҭааи уи идунеии рышҳам аҟынтә, даҽакала иуҳәозар, ицқьам ахымҩаԥгашьеи амцҵарақәеи рҟынтә ҳгәы зыҳахьчо (1 Иоанн 5:18, 19). Ҳара Иегова ҳаизааигәахацыԥхьаӡа иара иахь ҳабзиабареи ҳпатуқәҵареи еиҳагьы еизҳауеит. Ҳара жәҩантәи Ҳаб игәы иҳархьыр ҳҭахӡам. Убри азоуп агәнаҳа азхәыцраҵәҟьагьы заҳҭахым. Ҳара ииашамкәа ак аҟаҵаразы агәаҳәара ҳазцәырҵыр, ибзиоуп абас ҳхы ҳазҵаар: «Исҭахыҵәҟьоума абриаҟара бзиа сызбо ишыздыруа игәы исырхьыр?» (1 Иоанн 4:9, 10).

4. Ишԥалыцхрааи иаҳәшьак Иегова иҿаԥхьа илымаз ашәара ахыхра аҿагылара?

4 Хорватиа инхо аиаҳәшьа Марта b, аламысдарахь дназгар алшоз ахыхра дақәшәеит. Лара илҩит: «Уи аминуҭ азы еилыкка ахәыцра сцәыуадаҩын. Иҽеимыз агәаҳәара убриаҟара иӷәӷәан, уи аҿагылара сылымшозшәа збон. Аха Иегова иҿаԥхьа исымаз ашәара сеиқәнархеит». Ишԥалыцхрааи Марта Анцәа иҿаԥхьа илымаз ашәара? Лара иҽеимыз агәаҳәара лҽалҭазҭгьы, уи иаанагар алшоз алҵшәақәа дрызхәыцуан. Ари ҳара ҳзы ҿырԥш бзиоуп. Агәнаҳа иаанагар алшо зегь раасҭа иҿаасҭоу алҵшәа — уи ақьырсиан Иегова игәы ахьиирхьуа, насгьы наӡаӡа имаҵ аура алшара ахьицәыӡуа ауп (Аҟаз. 6:5, 6).

5. Ишәнарҵозеи Лео ихҭыс?

5 Ҳара Иегова ҳицәшәозар, иҽеим ахымҩаԥгашьа ҳҽацәыҳахьчалоит. Конго инхо Лео ихатә ԥышәала уи бзианы еиликааит. Аӡы иҽанӡааих ԥшьышықәса рышьҭахь иара иҽеимыз аҩызцәа шьҭихит. Лео игәы иаанагон, ихаҭа иҽеим ҳәа акгьы ҟаимҵозар, Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵаӡом ҳәа. Аха иаарласны иҽеимыз аҩызцәа ирыхҟьаны иаргьы арыжәтә иҽаиршьуа, насгьы ламысдарала ихы мҩаԥиго далагеит. Убасҟан иара игәалашәеит Иегова имаҵ зуаз иҭаацәа идырҵоз, насгьы ихаҭа Иегова имаҵ аниуаз шаҟа насыԥ имаз. Уи абзоурала иара иҽиԥсахырц иӡбеит, насгьы аизара аиҳабацәа рыцхыраарала Анцәа иахь дхынҳәит. Уажәы Лео аизара аиҳабыс, насгьы иҷыдоу пионерс амаҵ иуеит.

6. Изусҭцәада асимволтә ҵакы змоу ҳзыхцәажәо ҩыџьа аҳәса?

6 Шәааи ашәҟәы Ажәамаанақәа 9-тәи ахы иану ҳалацәажәап. Уа ҩыџьа аҳәса рыла иаарԥшу аҟәыӷареи ахшыҩдареи рыӡбахә ҳәоуп. (Иаҿшәырԥш Римаа рахь 5:14; Галатаа рахь 4:24.) Урҭ аҳәса рҩыџьагьы аԥышәа змам ма ихшыҩдоу ауаа ааԥхьара рырҭоит. Дара абас рҳәозшәа иаҩызоуп: «Шәааи сара сахь, акреицаҳфап!» (Ажәам. 9:1, 5, 6, 13, 16, 17). Урҭ ирҳәо шеиԥшугьы, алҵшәа еиԥшхаӡом. Иахьа Аҩсҭаа идунеи аҿы ауаа асекси апорнографиеи ауп рхы иҭоу (Еф. 4:19). Убри аҟынтә ҳара ҳзы даараӡа ихадоуп Анцәа ицәшәареи ацәгьара аҽацәыхьчареи (Ажәам. 16:6). Ус анакәха, ҳара зегьы — аҳәсагьы ахацәагьы — ашәҟәы Ажәамаанақәа 9-тәи ахы ҳалацәажәар хәарҭоуп.

АХШЫҨДАРА АМҨА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

«Ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара ҳҭанархар алшоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Ирзыԥшузеи «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара здызкыло ауаа, Ажәамаанақәа 9:13—18 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Ҳахәаԥшып «ихшыҩдоу аԥҳәыс» имҩасуа ауаа ирыдылгало. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 9:13—18.) Лара дыԥхамшьаӡакәа ихшыҩдоу ауаа уаххьа лыцырфарц азы лыҩныҟа иааирц иаалыԥхьоит, урҭ анаҩс ирзыԥшу бзианы ишылдыруагьы. Лыҩны иҩнало ауаа аԥсра рзыԥшуп. Иҟалап шәара ишәгәалашәазар уи иеиԥшу ахҭысқәа ахьану ашәҟәы Ажәамаанақәа егьырҭ ахқәа. Уа Абиблиа иламысдоу, зхы пату ақәзымҵо аԥҳәыс лҟынтә абас ҳгәаҳҽаннаҵоит: «Лара лыҩнахьы ицо аԥсра амҩа дықәуп» (Ажәам. 2:11—19). Ажәамаанақәа 5:3—10 аҿы зхы пату ақәзымҵо даҽа ԥҳәыск лыӡбахә ҳәоуп, уи «лшьапқәа аԥсрахьы илбаауеит».

8. Иарбан алхроу ҟаҵатәыс иҳаур алшо?

8 «Ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара заҳауа ауаа ирыӡбароуп: лааԥхьара рыдыркылару, мап лцәыркру. Ҳаргьы уи аҩыза алхра ҟаҵатәыс иҳаур алшоит. Ҳхы шԥамҩаԥаҳго иламысдароу ахымҩаԥгашьахь ҳназгар алшо ахыхра ҳақәшәар? Иҟаҳҵозеи ателевизор аҿы ма ҳҭел аекран аҿы апорнографиатә сахьа цәырҵыр?

9, 10. Избан иламысдароу ахымҩаԥгашьа ҳҽацәыҳахьчалар зҳахәҭоу?

9 Ҳара иламысдароу ахымҩаԥгашьа аҽацәыхьчаразы ихадоу амзызқәа ҳамоуп. «Ихшыҩдоу аԥҳәыс» илҳәоит: «Иӷьычу аӡқәа хаауп». Изакәызеи «иӷьычу аӡқәа»? Абиблиаҿы хаҵеи-ԥҳәыси рыбжьара асексуалтә еизыҟазаашьақәа аӡы цқьа иаҿырԥшуп (Ажәам. 5:15—18). Закәанла аҭаацәара еицалоу ахаҵеи аԥҳәыси ус еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа ирылагәырӷьалар рылшоит, урҭ цқьазар, насгьы апатуқәҵара рныԥшуазар. Уи «иӷьычу аӡқәа», даҽакала иуҳәозар, аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асекс иеиԥшӡам. Абжьааԥны ус еиԥш иҟоу аус ҟьашьқәа ауаа иӡаны, аӷьычцәа реиԥш, аӡәгьы еилимкаартә еиԥш иҟарҵоит. Уи азы акгьы ҳахьӡом ҳәа згәы иаанаго ауаа «иӷьычу аӡқәа» ихаау ак еиԥш ирбоит. Шаҟа иҩашьозеи дара! Иегова зегь ибоит. Ауаҩы Анцәа игәы аниирхьуа аасҭа еицәоу акгьы ыҟаӡам. Уи «хаарас» ҳәа акгьы изаанагаӡом (1 Кор. 6:9, 10). Аха уи мацара акәӡам.

10 Аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асекс аԥхашьареи акгьы иаԥсамшәа рхы абареи рахь инанагоит. Уи адагьы уи иахҟьаны аԥҳәыс илҭахӡамкәа лцәалтәымкәа дҟалар алшоит, аҭаацәарақәагьы хыбгалар ауеит. Шаҟа иҟәыӷароузеи «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лыҩны амԥан ақәымлареи лыфатә амеилаҳареи! Уи лааԥхьара Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахуеит. Уи адагьы иҵегьы аԥхасҭа ҳзаанагоит. Ламысдарала зхы мҩаԥызго аӡәырҩы ауаа рыԥсҭазаара зыркьаҿуа ачымазарақәа рыхьуеит (Ажәам. 7:23, 26). Ажәамаанақәа 9-тәи ахы 18-тәи ажәеинраалаҿы иануп: «Лысасцәа анышә [иамоуп]». Избан нас аӡәырҩы ауаа «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара зрыдыркыло, насгьы лшьацҳәа изаҿашәо? (Ажәам. 9:13—18).

11. Избан апорнографиа ахәаԥшра ауаҩы изиԥырхагоу?

11 Иаҳҳәап, иахьа апорнографиа ауаа даараӡа ирыларҵәоуп. Шьоукы ирзеилкааӡом уи агызмалра зҵоу ашьацҳәа шакәу. Дара уи цәгьара злам гәырҿыхагоуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аха апорнографиа ауаҩы иԥырхагоуп. Уи ауаҩы дланарҟәуеит, насгьы уи ада ԥсыхәа имоуа дҟанаҵоит. Иламысдоу асахьақәа амч ду рымоуп. Урҭ ауаҩы ихшыҩ аҿы убриаҟара рышьаҭа адыркуеит, рхашҭра даараӡа ицәгьахоит. Уи адагьы, апорнографиа иҽеим агәазыҳәарақәа раанкылара аҭыԥан, еиҳагьы еизнарҳауеит (Кол. 3:5; Иак. 1:14, 15). Ааи, апорнографиа иахәаԥшуа аӡәырҩы ауаа ишнеи-шнеиуа ламысдарала ахымҩаԥгарагьы иалагоит.

12. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо иҟьашьу ахәыцрақәа узцәырызго асахьақәа ҳаҽшырцәаҳахьчо?

12 Ақьырсианцәа раҳасабала иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара ҳелектронтә хархәагаҿы апорнографиатә сахьа цәырҵзар? Ҳара иаразнак уи асахьа ҳалаԥш аҟәаҳгароуп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳара ҳзы зегь раасҭа зыхә ҳараку Иеговеи ҳареи иҳабжьоу ҳаизыҟазаашьақәа шракәу. Сахьақәак порнографиоуп ҳәа иԥхьаӡамзаргьы, урҭ иҟьашьу агәаҳәарақәа узцәырыргозар ауеит. Избан ақьырсианцәа урҭ ирмыхәаԥшлар зрыхәҭоу? Избанзар ҳара иаҳҭахӡам агәнаҳахь ҳназго шьаҿа хәыҷыкгьы ҟаҳҵар, насгьы ҳгәаҿы ҳхатә ҩыза дҳаԥсахыр (Матф. 5:28, 29). Девид зыхьӡу Таиланд инхо аизара аиҳабы иҳәоит: «Сара есымша абас схы сазҵаауеит: „Ари порнографиамзаргьы, игәаԥхома Иегова сара уи сахьахәаԥшуа?“ Уи ҟәыӷарала ахымҩаԥгара исыцхраауеит».

13. Иҳацхраауазеи ҟәыӷарала ахымҩаԥгара?

13 Ҳара ҟәыӷарала ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳалшоит Иегова игәы иҳархьыр ҳәа ҳшәалар. Ус еиԥш иҟоу апатуқәҵара зныԥшуа ашәара ала ауп «аҟәыӷара злалаго», даҽакала иуҳәозар, аҟәыӷара аиуразы уи раԥхьатәи шьаҿоуп (Ажәам. 9:10). Уи еилыкка иаҳдырбоит Ажәамаанақәа 9-тәи ахы злалаго ажәақәа, уа асимволтә ҵакы змоу аҩбатәи аԥҳәыс лыӡбахә ҳәоуп. Лара «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» ҳәа лызҳәоуп.

«ИИАШАҴӘҞЬОУ АҞӘЫӶАРА» ААԤХЬАРА ШӘЫДЫШӘКЫЛ

14. Иарбан ааԥхьароу Ажәамаанақәа 9:1—6 аҿы зыӡбахә ану?

14 Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 9:1—6. Раԥхьатәи ф-жәеинраалак рҿы ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара Иахыҵхырҭоу — Ҳазшаз Иегова иҟынтә ааԥхьара ҳауит (Ажәам. 2:6; Рим. 16:27). Араҟа бжь-шьаҟак зҵагылоу аҩн ду аӡбахә ануп. Уи иҳаилнаркаауеит Иегова игәы шыҭбаау, насгьы иҟәыӷара заурц зҭаху зегьы гәыкала ишидикыло.

15. Ҳгәы зызҭеиҵозеи Анцәа?

15 Иегова зегьы меигӡарахда иҳаиҭоит. Иара згәы ҭбаау, насгьы иҳаиҷаҳауа Нцәоуп. Ажәамаанақәа 9-тәи ахаҿы аԥҳәыс леиԥш иаарԥшу «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷарагьы» урҭ аҟазшьақәа амоуп. Уа иҳәоуп асимволтә ҵакы змоу аԥҳәыс, акәац шыҟалҵаз, аҩы шеиҵалҵаз, насгьы астол шлырхиаз (Ажәам. 9:2). Анаҩс 4-тәи, насгьы 5-тәи ажәеинраалақәа рҿы иануп: «Аилкаара змам лара абас ралҳәоит: „Шәааи, сча шәфа“». Избан ҳара «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара ҳадкыланы, уи иҳаднагало афатә ҳфалар зҳахәҭоу? Иегова иҭахуп ихәыҷқәа ҟәыӷазарц, насгьы акгьы рмыхьырц. Иара иҭахӡам агхақәа ҳахьларц, насгьы уи иахҟьаны ҳгәаҟларц. Убри азоуп «иара ауаа иашақәа рзы аҟәыӷара [зихьчо]» (Ажәам. 2:7). Иегова иҿаԥхьа аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара игәы ҳақәшәалартә еиԥш ахымҩаԥгара ҳгәазҭанаҵоит. Ҳара иҟәыӷоу имҩақәҵарақәа ҳарзыӡырҩуеит, насгьы урҭ рықәныҟәара ҳаргәырӷьоит (Иак. 1:25).

16. Ишԥаицхрааи Алан Анцәа иҿаԥхьа имоу ашәара иҟәыӷоу аӡбара адкылара, насгьы лҵшәас иаанагазеи уи?

16 Ҳахәаԥшып А́лан зыхьӡу аизара аиҳабы Анцәа иҿаԥхьа имоу ашәара иҟәыӷоу аӡбара адкылара ишицхрааз. Иара ашкол аҿы рҵаҩыс аус иуеит. Абар ииҳәо: «Аус сыцызуа ахацәа аӡәырҩы ацәеижьтә еизааигәахара иазкны иаҭаху зегь удыруазарц азы апорнографиатә фильмқәа урыхәаԥшлароуп ҳәа рыԥхьаӡоит». Аха Алан урҭ дрықәшаҳаҭӡамызт. Иара иҳәоит: «Сара Анцәа сицәшәоит. Убри аҟынтә ус еиԥш иҟоу афильмқәа рыхәаԥшра еснагь мап ацәыскуан. Насгьы уи мап зацәыскуа есымша ирзеиҭасҳәон». Иара абри алабжьара дықәныҟәон: «Аҟәыӷара амҩала шәцала» (Ажәам. 9:6). Алан ихымҩаԥгашьа аус ицызуаз шьоукы даараӡа иархәыцит. Уажәы дара Абиблиа рҵоит, насгьы ақьырсиантә еизарақәа ирҭаауеит.

«Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара аԥсҭазаара ҳнаҭоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 18.)

17, 18. Иарбан лшароу ироуа «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара здызкыло ауаа, насгьы ирзыԥшузеи урҭ аԥхьаҟа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Асимволтә ҵакы змоу ҩыџьа аҳәса рыла Иегова иаҳирбоит насыԥла иҭәу аԥсҭазаара ҳамазарц азы иҟаҵалатәу. Зыбжьы цәгьоу «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара здызкыло ауаа рыԥсҭазаара «ихаау», иҵәаху ргәаҳәарақәа рынагӡара ауп изызку. Дара иахьатәи амш ада ԥхьаҟа ихәыцӡом. Аха аԥхьаҟа ирзыԥшу анышәынҭра ауп (Ажәам. 9:13, 17, 18).

18 Шаҟа иреиԥшымзеи урҭ «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара здызкыло ауаа! Уи аҟәыӷара асасцәа уажәнатә ихаау, насгьы ихырҳагоу афатә ахьықәгылоу, иԥшӡаны ирхиоу адоуҳатә стол иахатәоуп (Ис. 65:13). Иегова аԥааимбар Исаиа ила иҳәеит: «Ибзианы шәысзыӡырҩла, убасҟан афатә бзиа шәфалоит, илыԥшааху афатә хкқәа рыла шәчалоит» (Ис. 55:1, 2). Ҳара Иегова бзиа иибо бзиа абашьеи, ицәымӷу ацәымӷшьеи ҳҵоит (Аԥсал. 97:10). Иара убас ҳара даараӡа иаҳгәаԥхоит «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» ахь асасцәа рааԥхьара. Ҳара ақалақь иҳараку аҭыԥқәа рҟынтә ауаа абас рылаҳҳәошәа иаҩызоуп: «Аԥышәа змам арахь дааиааит». Ҳаргьы уи ааԥхьара здызкыло ауаагьы уи ахаан ҳахьхәӡом: иахьагьы аԥхьаҟагьы. Ҳара иҳалшоит наӡаӡа анхареи есымша аҟәыӷара амҩала ацареи! (Ажәам. 9:3, 4, 6).

19. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Екклезиаст 12:13, 14 иану? (Шәахәаԥш иара убас арамка « Анцәа иҿаԥхьа ашәара хәарҭас иаҳзаанаго».)

19 Шәаԥхьа Екклезиаст 12:13, 14. Иҳацхраалааит Анцәа иҿаԥхьа иҳамоу ашәара ҳгәы ахьчара, насгьы иҟьашьу арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳхымҩаԥгашьеи ҳхәыцрақәеи цқьаны рыхьчара. Хәарҭа злоу уи ашәара ҳгәазҭанаҵоит «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҿы ауаа зегьы аҵара рҵаларц азы анаҩсгьы ааԥхьара рыҭара.

АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу

a Ақьырсианцәа Анцәа иҿаԥхьа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара еиздырҳалароуп. Ус еиԥш иҟоу ашәара ҳгәы ахьчоит, насгьы иламысдароу ахымҩаԥгашьеи апорнографиеи рҟынтә ҳахьчоит. Ари астатиаҿы ашәҟәы Ажәамаанақәа аҟынтә 9-тәи ахы ҳалацәажәоит. Уа асимволтә ҵакы змоу ҩыџьа аҳәса рыла иаарԥшуп аҟәыӷареи ахшыҩдареи шаҟа еиԥшым. Уи ахаҿы иаагоу аурокқәа ирацәаны агхақәа рҟынтә ҳрыхьчоит.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.