АҴАРАЗЫ АСТАТИА 25
АШӘА 7 Иегова — ҳара ҳамч
Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
«Иегова — зыԥсы ҭоу Анцәа иоуп!» (АԤСАЛ. 18:46).
ЕИЛАҲКААУА
Зымаҵ ҳуа Анцәа зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу ҳхаҳмыршҭлар зхадоу.
1. Иҳацхраауазеи ауадаҩрақәа хьаас имкыкәа, Иегова имаҵ аура?
АБИБЛИА иаҳәоит иахьа даараӡа ицәгьоу аамҭақәа раан ҳшынхо (2 Тим. 3:1). Адунеи аҿы ауаа зегьы ирхырго ауадаҩрақәа инарываргыланы, Иегова ижәлар ашьҭашәарыцарақәеи аҿагыларақәеи ирықәшәоит. Иҳацхраауазеи урҭ ауадаҩрақәа хьаас имкыкәа, анаҩсгьы Анцәа имаҵ аура? Иегова — «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу ахьаҳдыруа (Иер. 10:10; 2 Тим. 1:12).
2. Агәра ҳзыргозеи Иегова — зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу?
2 Иегова ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь ибоит, дышҳацхраашагьы иԥшаауеит (2 Аш. 16:9; Аԥсал. 23:4). Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу ҳхаҳмыршҭлар, ҳаззымиааиуа уадаҩракгьы ҟалаӡом. Уи ус шакәу аҳ Давид иҿырԥшы иаҳнарбоит. Шәааи уи еилҳаргап.
3. Ииҳәарц ииҭахызи Давид, «Иегова — зыԥсы ҭоу Анцәа иоуп» ҳәа аниҳәа?
3 Давид Иегова ибзианы дидыруан, дагьиқәгәыӷуан. Иара аҳ Саули егьырҭ иаӷацәеи рҟынтә иҽаниӡоз, Иегова иҿы ацхыраара дашьҭан (Аԥсал. 18:6). Анцәа Давид иҳәара аҭак аныҟаиҵа, дагьанеиқәирха, Давид дгәырӷьаҵәа иҳәеит: «Иегова — зыԥсы ҭоу Анцәа иоуп!» (Аԥсал. 18:46). Ииҳәарц ииҭахызи Давид? Еилыркаагак аҿы иануп арҭ ажәақәа рыла Давид Иегова «еснагь зыжәлар ирыцхраауа зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу агәра шигоз ааирԥшит ҳәа. Ааи, Давид ихатә ԥышәала агәра игеит Инцәа — зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу. Уи агәрагара игәазҭанаҵон анаҩсгьы Иегова имаҵ ауреи ихьӡ арҳаракреи (Аԥсал. 18:28, 29, 49).
4. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу агәра ганы ҳахьыҟоу?
4 Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу агәра ганы ҳаҟазар, гәацԥыҳәарала, ҳҳаҵҳаҵо имаҵ ҳаулоит, аԥышәарақәа рыхгаразы амч ҳауеит, анаҩсгьы Иегова изы аџьабаа абаразы агәаҳәара ҳамазаауеит. Иара убас Иегова ҳаицәыхарахар ҳауӡом, ҳаиҩызара ҳахьчалоит.
ЗЫԤСЫ ҬОУ АНЦӘА АМЧ ШӘИҬОИТ
5. Избан аԥышәарақәа рыцәшәара изаԥсам? (Филиппаа 4:13).
5 Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу, насгьы еснагь ҳацхраара дшазхиоу ҳхаҳмыршҭуазар, ԥышәарас ҳзықәшәозаалак, ицәгьазаргьы, имариазаргьы, ахгара ҳалшоит, избанзар иара изы ӡбашьа змам уадаҩра ыҟаӡам. Иара Зегьзымчу Анцәа иоуп, аԥышәарақәа рыхгара азгьы амч ҳаиҭоит. (Шәаԥхьа Филиппаа 4:13.) Ус анакәха, аԥышәарақәа рыцәшәара иаԥсам. Иегова еиҳа имариоу аԥышәарақәа рыхгара дышҳацхраауа гәаҳҭалар, ицәгьоу аԥышәарақәа рҿгьы ҳшаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟазаауеит.
6. Иарбан хҭысқәоу Давид данқәыԥшыз Иегова иқәгәыӷра ицхрааз?
6 Иаҳгәалаҳаршәап Давид Иегова иқәгәыӷра ицхрааз ҩ-хҭыск. Иара данқәыԥшыз иаб иуасақәа ихьчон. Зны урҭ ауасақәа алым рылалеит, даҽазны — амшә. Иара агәымшәара аарԥшны, урҭ агыгшәыгқәа дырҿагылеит, ауасақәагьы ихьчеит. Аха урҭ агыгшәыгқәа риааира ахьилшаз азы ахьӡ-аԥша ихахьы имгаӡеит. Иара еиликаауан амч изҭаз Иегова шиакәыз (1 Сам. 17:34—37). Давид ахаан ихашҭӡомызт Иегова дышицхрааз. Убри дахьазхәыцуаз абзоурала иара агәра игеит Анцәа иаԥхьаҟагьы дышицхраало, амчгьы шииҭало.
7. Дзызхәыцуази Давид, насгьы ишԥаицхрааи уи Голиаф иҿагылара?
7 Ԥыҭрак ашьҭахь Давид иашьцәа ибарц азы израильтәи аруаа рлагер ахь дцеит. Усҟан иара 20 шықәсагьы ихыҵӡомызт. Уа даннеи ибеит аруаа шәаӡыӡаны ишыҟаз. Дара израильтәи ар ирықәмақаруаз, ирхыччоз филистимтәи адау Голиаф иакәын изыцәшәоз (1 Сам. 17:10, 11). Изшәазеи урҭ убриаҟара? Дара зызхәыцуаз раӷа шаҟа дыӷәӷәаз акәын, ииҳәоз ажәақәагьы мыцхәы рхы рзырышьҭуан (1 Сам. 17:24, 25). Давид иакәзар, уи ихы ззишьҭуаз даҽакын. Иара еиликаауан Голиаф дызхыччоз израильтәи ар мацара шакәмыз, иара «зыԥсы ҭоу Анцәа ир» дахыччон (1 Сам. 17:26). Давид Иегова дизхәыцуан. Иара агәра ганы дыҟан ауасақәа данрыцыз Анцәа дицхраазар, уажәгьы дшаанимыжьуа. Давид Иегова диқәгәыӷны Голиаф диҿагылеит, ишаҳдыруа еиԥшгьы, аиааира игеит! (1 Сам. 17:45—51).
8. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ауадаҩрақәа раан Иегова ҳшаанимыжьуа агәра ҳгаларц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
8 Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу, есымша ҳацхраара дшазхиоу ҳхамышҭуазар, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа риааира ҳалшоит (Аԥсал. 118:6). Аха иҳацхраауазеи Иегова иахь иҳамоу агәрагара арӷәӷәара? Шәаԥхьала Абиблиаҿы ажәытәан Иегова имаҵзуҩцәа шеиқәирхоз атәы (Ис. 37:17, 33—37). Ҳсаит jw.org аҿы ишәыԥшаар шәылшоит Иегова имаҵзуҩцәа иахьа дышрыцхраауа. Уи адагьы, ишәгәалашәыршәала Иегова шәара дышшәыцхраахьаз. Аха иҟалап ус шәхәыцыр: «Сара алым ма амшә саҿамгылаӡацт». Ус акәзаргьы, Иегова илаԥш есымша ишәхын. Иара ҩызас шәизыҟаларц ааԥхьара шәиҭеит (Иоанн 6:44). Анцәа уажәгьы дшәывагылоуп. Иара ибзоуралоуп имаҵ аура шшәылшо. Шәиҳәа Иегова ишәгәалаиршәарц шәыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз, ацхыраара анышәҭахыз дышшәыцхрааз, аамҭа цәгьақәа раан дышшәывагылаз. Убри зегь шәазхәыцлар, шәыгәрагара еиҳагьы иӷәӷәахоит, Иегова ахаангьы шәшаанимыжьуа агәра ганы шәыҟазаауеит.
9. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи аԥышәарақәа ҳанрықәшәо? (Ажәамаанақәа 27:11).
9 Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу ҳхамышҭуазар, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ииашаны ҳрыхәаԥшлоит. Урҭ ауадаҩрақәа раан ҳхы шымҩаԥаҳго Иегова ма даргәырӷьоит, ма игәы инархьуеит. Аҩсҭаа иҳәоит ԥышәарак ҳақәшәар, Анцәа даанҳажьуеит ҳәа (Иов 1:10, 11; шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11). Аха Иегова ҳизиашаны ҳанаанхо, гәык-ԥсыкала бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит, насгьы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәоит. Иарбан уадаҩроу шәара уажәы ишәхыжәго? Иҟалап аҳәынҭқарцәа шәҿагылозар, ахныҟәгара шәцәыцәгьазар, ажәабжь ахьышәҳәо азы ишакәым ишәыхцәажәозар, ма даҽа уадаҩрак шәымазар. Егьа ишәзымариамзаргьы, ишәдыруаз шәзықәшәо аԥышәара Иегова иргәырӷьаразы алшара шышәнаҭо. Ишәхашәмыршҭын ишәызхымго ауадаҩра шыҟам (1 Кор. 10:13). Иегова зегь шәхыжәгартә амч шәиҭоит.
ЗЫԤСЫ ҬОУ АНЦӘА ДЫШӘЗЫЛԤХОИТ
10. Дышԥарзылԥхо зыԥсы ҭоу Анцәа имаҵ зуа ауаа?
10 Иегова имаҵ зуа еснагь дырзылԥхоит (Аур. 11:6). Иара уажәнатә аҭынчреи анасыԥи ҳаиҭоит, ҳаԥхьаҟа наӡаӡатәи аԥсҭазаарагьы ҳаиҭоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо, избанзар уи азы агәаҳәарагьы имоуп, амчгьы имоуп. Уи гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ аура ҳгәазҭанаҵоит. Убас ҟарҵон ажәытәан Анцәа имаҵ зуазгьы, иаҳҳәап, Тимофеи (Аур. 6:10—12).
11. Избан Тимофеи аизаразы гәык-ԥсыкала аџьабаа зибоз? (1 Тимофеи 4:10).
11 Шәаԥхьа 1 Тимофеи 4:10. Тимофеи зыԥсы ҭоу Анцәа диқәгәыӷуан, убри аҟынтә аизараҿы гәык-ԥсыкала аџьабаа ибон. Иҟаиҵози иара? Апостол Павел ишиабжьигоз еиԥш, иара ажәабжьҳәараҿгьы аизараҿгьы дырҵаҩ бзианы дҟаларц азы ирҵаҩратә ҟазара еиӷьитәуан. Иара убас Тимофеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҿырԥш бзиа риҭон, иқәыԥшызгьы, зықәра ыҟазгьы. Иара имариамыз адҵақәагьы идын, иаҳҳәап, амҩа иацәыхҟьаз инақәырӷәӷәаны, аха убри аамҭазгьы хаала дрылабжьалар акәын (1 Тим. 4:11—16; 2 Тим. 4:1—5). Тимофеи иџьабаа анрызгәамҭоз, насгьы ахә анырымшьоз ыҟан, аха иара агәра ганы дыҟан Иегова уи ахә шишьоз, дагьшизылԥхоз (Рим. 2:6, 7).
12. Избан аизара ахылаԥшыҩцәа аизаразы гәык-ԥсыкала аџьабаа зырбо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
12 Ҳаҭыр зқәу аизара ахылаԥшыҩцәа! Ишәхашәмыршҭлан Иегова ижәбо аџьабаа шибо, ахә ҳаракынгьы ишишьо. Шәара ахьчацәа реиԥш аизара ибзианы шәахылаԥшуеит, шәырҵаҩцәа бзиақәоуп, ажәабжьҳәарагьы шәазҟазоуп. Уи инеиҳангьы, аргыларатә проектқәа шәрылахәуп, арыцҳара иақәшәаз шәрыцхраауеит. Шьоукы ачымазцәа рбаразы еиҿкаау агәыԥқәа рҿы амаҵ жәуеит, егьырҭ — ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитетқәа рҿы. Аизара ахылаԥшыҩцәа ирдыруеит аизара зтәу ауаа шракәым, Иегова шиакәу. Убри аҟынтә ирыду аҭакԥхықәрақәа гәык-ԥсыкала инарыгӡоит, агәра гангьы иҟоуп Иегова дшырзылԥхо (Кол. 3:23, 24).
13. Дышԥазыҟоу Иегова иара изы иҟаҳҵо?
13 Зегьы аизара ахылаԥшыҩцәас амаҵ рзуӡом. Аха зегьы Иегова изы ак аҟаҵара рылшоит. Иара ахә ҳаракны ишьоит имаҵ аураҿы иҳалшо зегь ахьыҟаҳҵо. Иара ибоит адунеизегьтәи аус азы аԥара аналаҳҵо, уи маҷзаргьы. Иара игәы иахәоит аԥхашьара ҳаиааины, аизараҿы ҳнапы шьҭыхны аҭак аныҟаҳҵо. Иара даараӡа даргәырӷьоит агәаара ҳанахымыццакуа, насгьы егьырҭ ианранаҳажьуа. Иегова изы ишәҭаху зегь аҟаҵара шәылымшозаргьы, агәра ганы шәыҟаз иҟашәҵо ахәыҷы ахә ҳаракны ишишьо. Иара даараӡа бзиа шәибоит, хымԥада дагьшәзылԥхоит (Лука 21:1—4).
ЗЫԤСЫ ҬОУ АНЦӘА ШҼИЦӘЫХАРАШӘЫМТӘЫН
14. Ишԥаҳацхраауеи Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ҳизиашаны аанхара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
14 Иегова ҳара ҳзы зыԥсы ҭоу Анцәа иакәзар, ҳизиашаны аанхара ҳзымариахоит. Иосиф иҭоурых уи ибзианы иаҳнарбоит. Иара дымлакҩакӡакәа асексуалтә ламысдара мап ацәикит. Иосиф Иегова ицәаныррақәа дрызхәыцуан, игәы иирхьыр иҭахӡамызт (Аҟаз. 39:9). Ҳара ҳзгьы Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа иакәны дҟаларц азы иҳәареи Иажәа аҭҵаареи рзы аамҭа алҳхуазароуп. Ҳаргьы, Иосиф иеиԥш, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә ҳаракны иаҳшьозар, ҳаиҩызара бжьызхыр алшо зегь ҳҽацәаҳахьчалоит (Иак. 4:8).
15. Иаҳнарҵозеи израильаа ацәҳәыраҿы ирыхьыз? (Ауриацәа 3:12).
15 Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу зхазыршҭуа иара ицәыхарахоит. Иаҳгәалаҳаршәап израильаа ацәҳәыраҿы ирыхьыз. Дара Иегова дшыҟоу рдыруан, аха дреиҷаҳалар шилшо рхадыршҭуа иалагеит. Дара абасгьы иҵаауа иалагеит: «Иегова дҳацу-дҳацму?» (Ақәҵ. 17:2, 7). Аҵыхәтәаны Анцәа иҿагылеит. Урҭ рҿырԥшы ҳара ҳгәаҳҽаннаҵоит. Иҟалалакгьы, ҳара Иегова ҳаиҿагылар ҳҭахӡам! (Шәаԥхьа Ауриацәа 3:12.)
16. Иԥызшәар алшозеи ҳхаҵара?
16 Ари адунеи Иегова ҳаицәыхаранатәырц азы иҟанамҵо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Анцәа дшыҟоу агәра зымго ауаа рацәаҩуп. Изакәанқәа хьаас измам ауаа урыхәаԥшуазар, угәы иаанагар алшоит насыԥ рыманы инхоит ҳәа. Ари зегьы ҳхаҵара ԥнашәоит. Анцәа дшыҟоу агәра агара ҳаҟәымҵыргьы, дҳацхраалома ҳәа ахәыцра ҳалагар ауеит. 73-тәи Аԥсалом зҩыз уи аҩыза ахәыцрақәа изцәырҵит. Иара ибон ауаа Анцәа изакәанқәа зынӡа хьаасгьы ишрымамыз, аха уи аԥсҭазаара алагәырӷьара ишырԥырхагамыз. Уи иахҟьаны Иегова имаҵ аура иаԥсоума ҳәа ахәыцра далагеит (Аԥсал. 73:11—13).
17. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи Иегова ҳаицәыхарамхарц азы?
17 Ицхраазеи аԥсаломшәаҳәаҩ ихәыцшьа аԥсахра? Иара Иегова даанзыжьыз ирыхьуа дазхәыцуан (Аԥсал. 73:18, 19, 27). Иара убас дазхәыцуан ауаҩы Анцәа имаҵ аниуа, уи бзиарас изаанаго (Аԥсал. 73:24). Ҳаргьы Иегова дшаҳзылԥхаз ҳазхәыцлар ҳалшоит. Шәхаҿы иаажәг Иегова даҳзымдыруазҭгьы, иахьа ҳаԥсҭазаара зеиԥшрахоз. Уи ҳацхраауеит Анцәа ҳизиашаны аанхара. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәеит: «Сара сзы Анцәа изааигәахара зылԥхароуп» (Аԥсал. 73:28). Ҳара уи ииҳәаз ҳақәшаҳаҭуп.
18. Избан ҳаԥхьаҟа иҟало ҳзацәымшәо?
18 Ҳара иҳаздырӡом арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ԥышәарас ҳзықәшәо. Аха иаҳдыруеит урҭ рыхгара шҳалшо, избанзар «Ҳазшаз Анцәа ду имаҵуцәа» ҳауп (1 Фес. 1:9). Иара змаҵзуҩцәа бзиа избо, ирыцхраауа Анцәа иоуп. Иегова ажәытәан имаҵзуҩцәа аанижьӡомызт, иахьагьы иаанижьӡом. Иаарласны уаҩ иимбац арыцҳара ду ҟалоит. Аха ҳара ҳхала ҳаҟаӡам. Иегова дҳавагылоуп (Ис. 41:10). Убри аҟынтә ҳамлакҩакӡакәа иаҳҳәар ҳалшоит: «Иегова сыцхырааҩ иоуп, акгьы сацәшәалаӡом» (Аур. 13:5, 6).
АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара