АБИОГРАФИА
Иегова сыҳәарақәа еснагь дырзыӡырҩуан
САРА еҵәала ихҟьаз ажәҩан саҵаԥшит, нас сшьамхышгыланы Иегова иҳәара салагеит. Усҟан 10 шықәса ракәын исхыҵуаз, Иегова изкны издыруаз маҷын. Ус шакәызгьы, сгәы иҵхоз зегь изеиҭасҳәеит. Убри инаркны Иеговеи сареи ҳаиҩызара алагеит. Акыршықәса рыҩныҵҟа сара избон Иегова ҳаҳәарақәа ирзыӡырҩуа Анцәа шиакәу (Аԥсал. 65:2). Ишәзеиҭасҳәар сҭахуп ааигәа сзабадырыз Анцәа сиҳәарц зысыӡбаз.
СЫԤСҬАЗААРА ЗЫԤСАХЫЗ АХҬЫС
Сара сиит декабр 22, 1929 шықәсазы, ақалақь Басто́ни азааигәара иҟоу бельгиатәи ашьхарақәа рҿы ишьҭоу ақыҭа Нови́лла аҿы. Ҳқыҭаҿы жә-фермак ыҟан. Схәыҷра ансгәалашәо, сгәы ԥхаррак ныҵалоит. Сашьеиҵбы Раимо́ни сареи есыҽны ажәқәа ҳхьон, иара убасгьы ҳҭаацәа аҽаҩра анҭаргалоз ҳрыцхраауан. Ҳқыҭаҿы инхоз зегьы бзиа еибабон, еицхыраауан.
Сҭаацәа, Еми́льи Али́сеи, католикцәан. Дара есымҽыша ауахәамахь иныҟәон. Аха 1939 шықәса раҟара шыҟаз Англиантәи ҳқыҭахь апионерцәа ааит. Урҭ саб ажурнал «Утешение» (уажәы «Пробудитесь!») иааиԥмырҟьаӡакәа иоуларц идыргалеит, иаргьы дақәшаҳаҭхеит. Саб иаразнак еиликааит аҵабырг шиԥшааз, Абиблиа аԥхьарагьы далагеит. Ауахәамахь аныҟәара данаҟәыҵ, уаанӡа пату ҳақәызҵоз ҳгәылацәа ааҳәны иаҳҿагылеит. Дара саб ауахәамахь аныҟәара даҟәымҵырц азы иқәыӷәӷәон, уи иахҟьаны лассы-лассы ажәақәагьы еимаркуан.
Саб ус иахьизныҟәоз сгәы снархьуан. Убри азоуп Анцәа иҿы ацхыраара сзашьҭалаз. Хыхь ишысҳәахьаз еиԥш, сгәы ҭыӷьӷьаа Анцәа сиҳәеит. Ҳгәылацәа хәыҷык рҽанеиқәырк, сгәырӷьара ҳәаа амамызт! Уи агәра снаргеит Иегова ҳаҳәарақәа дшырзыӡырҩуа.
АИБАШЬРА АНЦОЗ
Маи 10, 1940 шықәсазы анацистә Германиа Бельгиа иалалеит. Уи иахҟьаны уа инхоз ауаа ԥыҭҩык рыҩнқәа ааныжьны ацара рықәшәеит. Ҳаргьы Аладатәи Франциаҟа ҳхы ҳархеит. Амҩа ҳанықәыз анемеццәеи афранцызцәеи рыбжьара ицоз аиҿахысрақәа ҳанрықәшәозгьы ыҟан.
Ҳфермахь ҳаныхынҳә, ҳмазара абжеиҳарак ыҟаӡамызт, ирӷьычхьан. Ҳласба Бо́бби заҵәык
ауп иаҳԥылаз. Избоз зегь сархәыцит, азҵаара сызцәырҵит: «Избан аибашьрақәеи агәаҟрақәеи зыҟоу?»Убри аамҭазы ҳара ҳахь даауа далагеит аизара ахылаԥшҩы, апионер, Еми́ль Шранц a. Иара ицхыраарала сгәы змырҭынчуаз азҵаарақәа рҭак Абиблиа аҟынтә исоуит. Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа иӷәӷәахеит, насгьы агәра згеит иара абзиабара Дшанцәоу.
Аибашьра шцозгьы, ҳҭаацәа еиҳа лассы-лассы Иегова ишаҳаҭцәа ирацәажәо иалагеит. Август, 1943 шықәсазы ҳфермахь дааит аиашьа Жозе́-Никола́ Мине́. Иара ажәахә иманы данықәгылоз дҵааит: «Изҭахыда аҽӡаахра?» Саби сареи ҳнапы ҳҩахеит. Ҳара ааигәа иҟаз аӡиас хәыҷ аҿы аӡы ҳаҽӡааҳхит.
Декабр, 1944 шықәсазы анемеццәа мраҭашәаратәи афронт аҿы аҵыхәтәантәи ажәылара ду иалагеит, уи Арде́ннтәи аоперациа ҳәа еицырдыруеит. Уи ажәылара ахьцоз аҭыԥ азааигәара акәын ҳаргьы ҳахьынхоз. Убри аҟынтә мызкы иназынаԥшуа аподвал аҿы аҽыҵәахра ҳақәшәеит. Зны аԥстәқәа акрырҿасҵоит ҳәа сахьындәылҵыз, аиҿахысра иалагеит. Снариадк ҳферма иақәшәеит, уи аснариад иахылҵуаз амч ҳца ахыб ахнаҳәеит. Ҳчыхәчараҿы зҽыҵәахны итәаз асолдаҭ «Уҽкажь!» ҳәа сықәҿиҭит. Сара иара иахь сҿынасхан, иганаҿы сиеит. Иара ихаз акаска ааихихын, сара исхаиҵеит.
ДОУҲАЛА СЕИЗҲАУЕИТ
Аибашьра ашьҭахь ақалақь Лие́ж аҿы иҟаз аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи лассы-лассы ҳаибабон. Уи ақалақь ҳара ҳҟынтә аҩадахьы ишьҭан, уанӡа ҳара ҳҟынтә 90-ҟа километра бжьан. Ԥыҭрак ашьҭахь ақалақь Бастони аҿы агәыԥ хәыҷ еиҿаҳкааит. Сара ашәахтәеизгаратә контораҿы аусура салагеит, убри аамҭазгьы азакәанқәа рыҭҵаара сҽазысшәон. Ԥыҭрак ашьҭахь анотариалтә контораҿы аусура салагеит. 1951 шықәсазы Бастони араионтә конгресс хәыҷ еиҿаҳкааит. Уа 100-ҩык раҟара аишьцәеи аиҳәшьцәеи еизеит. Урҭ рыбжьара дыҟан гәацԥыҳәарала пионерс амаҵ зуаз Е́лли Ро́итер. Аконгресс ахь даарц азы лара маланыҟәала 50 километра дахысит. Хара имгакәа, лареи сареи бзиа
ҳаибабеит, анапеимдахьгьы еимаҳдеит. Убри аамҭазы Елли Еиду Аштатқәа рҿы имҩаԥысуа Галаад ашкол ахь ааԥхьара лоуит. Лара ихадоу аусбарҭахь асаламшәҟәы лҩит, иагьреиллыркааит ааԥхьара адкылара лылымшар ҟалап ҳәа зылыԥхьаӡоз. Уи аамҭазы Иегова ижәлар рус напхгара азызуаз аиашьа Норр аԥхарра зҵаз асаламшәҟәы лзиҩит. Иара лгәы шьҭихит, иагьиҳәеит знымзар-зны бхаҵеи бареи ари ашкол шәеицахысыр ауеит ҳәа. Февраль, 1953 шықәсазы Еллии сареи ҳаибагеит.Уи ашықәс азы Еллии сареи Ньиу-Иорк астадион «Ианки» аҿы имҩаԥысуаз аконгресс «Общество нового мира» ҳаҭааит. Уа иашьак сиабадырит, иара аусура бзиа сыдигалеит, аха уи азы Еиду Аштатқәа рахь нхара сиасыр акәын. Аӡбара ҳадаҳкылаанӡа Еллии сареи Анцәа ҳиҳәеит. Анцәа ҳаниҳәа ашьҭахь уи аусура мап ацәыскит. Ҳара Бельгиаҟа ҳхынҳәит, ақалақь Бастони аҿы иҟаз 10-ҩык аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц азы. Адырҩашықәсазы аԥа дҳауит, Сержгьы ихьӡаҳҵеит. Аха бжьымзы рышьҭахь иара дычмазаҩхан, дыԥсит. Агәырҩа ҳгәы еиҟәнажәон. Ҳара ирацәаны Иегова ҳиҳәон, аԥсҭалара аганахьала иҳамаз агәыӷра абзоуралагьы уи агәырҩа ҳхаҳгеит.
ҲААМҬА ЗЕГЬ АМАҴЗУРА ИАЗАҲКУЕИТ
Октиабр, 1961 шықәсазы пионерс амаҵ аура алшара сызҭоз аусурҭа сыԥшааит. Убри аҽныҵәҟьа бельгиатәи афилиал амаҵзуҩы аҭел дысзасит. Иара дсазҵааит араион ахылаԥшҩыс амаҵ аура салагар сылшома ҳәа. Сара исҳәеит: «Иҟалома раԥхьа пионерс амаҵ ҳур?» Иара дақәшаҳаҭхеит. Ҳара аамзы пионерс амаҵ ҳуит, нас сентиабр, 1962 шықәсазы араионтә маҵзура ҳалагеит.
Ҩышықәса рышьҭахь Бриуссель иҟаз Вефиль ахь ааԥхьара ҳарҭеит. Октиабр, 1964 шықәсазы уа амаҵ аура ҳалагеит. Уи аамҭа гәырӷьарала иҭәыз аамҭан. 1965 шықәсазы аиашьа Норр ҳфилиал даҭааит. Уи ашьҭахь сара афилиал амаҵзуҩыс сҟарҵеит, уи сызқәымгәыӷуаз ҳамҭан. Ԥыҭрак ашьҭахь Еллии сареи Галаад ашкол 41-тәи акласс ахь ааԥхьара ҳарҭеит. 13 шықәса раԥхьа аиашьа Норр ииҳәаз ажәақәа наӡеит. Ашкол ҳаналга ашьҭахь бельгиатәи афилиал ахь ҳхынҳәит.
ИЕГОВА ИЖӘЛАР РЗИНҚӘА СЫХЬЧОИТ
Сусура иснаҭаз аԥышәа даараӡа исыхәеит. Акыршықәса рыҩныҵҟа Европеи егьырҭ атәылақәеи рҿы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзинқәа сыхьчон (Флп. 1:7). Сара ҳус мап ахьацәкыз, мамзаргьы закәанла иахьышьақәырӷәӷәамыз 55 тәыла рҟынтә ачынуаа срацәажәахьан. Санрабадыруаз азинхьчаҩ иеиԥш акәымкәа, Анцәа имаҵзуҩ иеиԥш схы дсырдыруан. Сара еснагь Иегова сиқәгәыӷуан, избанзар исгәалашәон Абиблиа иану абарҭ ажәақәа: «Аҳ [ма аӡбаҩ] игәы Иегова инапаҿы иҟоуп. Арҩаш еиԥш иара уи иахьиҭаху ирхоит» (Ажәам. 21:1).
Ахаан исхашҭуам Европатәи апарламент иалахәыз чынуаҩык сышиацәажәоз. Уи иацәажәара зныкымкәа сҽазысшәахьан, аҵыхәтәаны сацәажәара дақәшаҳаҭхеит. Аха сшааибаҵәҟьаз еиԥш абас иҳәеит: «Хә-минуҭк шәысҭоит. Уаҳа аамҭа сымаӡам». Сара схы Римаа 13:4 исырбеит. Иара дыпротестантын, убри аҟынтә уи ажәеинраала илаԥш ахымгаӡакәа даԥхьеит. Хә-минуҭк усҭоит ҳәа сазҳәаз ауаҩы 30 минуҭ дсацәажәон. Уи аицәажәара алҵшәа бзиақәа аанагеит. Уи адагьы, иара Иегова ишаҳаҭцәа ирҽхәеит, аус бзиа шәаҿуп ҳәагьы сеиҳәеит.
ласырҟәын, Анцәа иҳәара салагеит. Иара игәы ԥжәаны шәызҿу закәи ҳәа дсазҵааит. Сара схы ҩышьҭысхын, ус иасҳәеит: «Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәон, избанзар шәара имаҵзуҩцәа шәыруаӡәкуп». «Ишәҳәо иаанагои?» — ҳәа дсазҵааит иара. УсҟанИегова ишаҳаҭцәа рзинқәа рыхьчарц азы Европа имаҷымкәа аџьабаа рбон. Аусӡбарҭақәа рҿы еилдыргоз азҵаарақәа ақьырсиантә неитралитети, ахәыҷқәа рааӡареи, ашәахтәқәеи ирыдҳәалан. Урҭ аусӡбарҭақәа рҿы егьырҭ азҵаарақәагьы еилдыргон. Сара сзы ҳаҭыр дуун имаҷымкәа аусеилыргарақәа сахьрылахәыз. Сара сыблақәа рыла избон Иегова аиааира агара дышҳацхраауаз. Иегова ишаҳаҭцәа ауаҩы изинқәа зыхьчо Европатәи аусӡбарҭаҿы 140 ус инареиҳаны ириааит!
КУБА АҲРА АУС ԤХЬАҞА ИЦОИТ
1990-тәи ашықәсқәа рзы ихадоу аусбарҭаҿы амаҵ зуа Фи́лип Бра́млии италиатәи афилиал аҟынтә Ва́льтер Фарне́тии сареи ирацәаны аус еицаҳуан. Ҳара иаҳҭахын Куба инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҭынч Иегова имҵахырхәаларц азы азин рырҭарц. Сара Бельгиа иҟаз Кубатәи апосольство ахь асаламшәҟәы зҩит, насгьы ҳазҵаара зыӡбоз адипломати сареи ҳаиқәшәеит. Аха ҳус мап зацәкыз аилибамкаара аӡбара иаразнак иҳалымшеит.
Ҳара Иегова анапхгара ҳаиҭарц ҳиҳәон. Уи ашьҭахь иҳаӡбеит Кубаҟа 5 000 Библиа анагаразы азин ҳаҳәарц. Иагьҳарҭеит! Абиблиақәа Куба ианнарга, ҳашьцәа ирзыршеит. Уи Иегова дышҳацхраауа агәра ҳнаргеит. Аха уи аҿы ҳаанымгылаӡакәа, еиҭа 27 500 Библиа наҳгарц азы азин ҳаҳәеит. Уигьы иақәшаҳаҭхеит. Сара даараӡа сеигәырӷьон ҳџьабаа абзоурала Куба инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи уажәшьҭа рхатә Библиа ахьрымаз!
Сара ҳзинқәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа рыӡбаразы зныкымкәа Кубаҟа сцахьан. Уи аамҭа иалагӡаны имаҷымкәа ачынуааи сареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьалеит.
РУАНДАТӘИ АИШЬЦӘА ҲРЫЦХРААУЕИТ
1994 шықәсазы Руанда тутсиаа ықәырхырц азы агеноцид аныҟаз 1 000 000-ҩык инареиҳаны аԥсышьацәгьа рыҭаны иршьит. Урҭ рыбжьара Иегова ишаҳаҭцәагьы ыҟан. Дук мырҵыкәа аишьцәа ҳаҳәеит уахь агуманитартә цхыраара наҳгарц.
Руанда аҳҭнықалақь Кига́ли ҳаннеи, ҳара иаҳбеит аиҭагаратә офис аҭӡамцқәеи ҳлитература ахьышьҭаз асклад аҭӡамцқәеи ахы иаганы ишыҟаз. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыцҳамшьаӡакәа ҳәызбала ишыршьыз атәы аҭоурыхқәа рацәаны иаҳзеиҭарҳәеит. Уи угәы ҿнакаауан. Аха ақьырсиантә бзиабара шаадырԥшуаз иазкыз аҭоурыхқәагьы маҷӡамызт. Иаҳҳәап, ҳара ҳиабадырит ажәлар тутси иатәыз иашьак. Ажәлар хуту иаҵанакуаз Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәарак уи аиашьа рашҭаҿы иҟаз ажраҿы 28 мшы дҵәахны дрыман. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхырц азы Кигали аиԥылара еиҿаҳкааит, уи аиԥылара 900-ҩык инареиҳаны иаҭааит.
Нас Заиртәи аҳәаа ҳахысит (уажәы Адемократиатә Ҳәынҭқарра Конго). Имаҷҩымкәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Руандантәи ибналаны уахь ицеит. Дара ақалақь Го́ма азааигәара иҟаз ахҵәацәа рлагер аҿы рҽырҵәахуан, аха ҳара урҭ ҳзымԥшааӡеит. Усҟан Иегова иҳәара ҳалагеит урҭ рахь ҳнеигарц азы. Анцәа ҳаниҳәа ашьҭахь, хаҵак ҳара ҳахь дшаауаз ҳбеит, ҳара уи Иегова ишаҳаҭцәа идыруазар ҳәа ҳиазҵааит. Иара иҳәеит: «Ааи, издыруеит, саргьы Иегова ишаҳаҭ соуп». Анаҩс ус ҳаиҳәеит: «Шәаала, сара ацхыраара ҟазҵо акомитет аҟынтә аишьцәа рахь шәызгоит». Урҭ аишьцәеи ҳареи ҳанеиқәшәа ашьҭахь, 1 600-ҩык ахҵәацәа ҳарҭааит, ргәы шьҭаҳхырц, насгьы Иегова бзиа ишибо агәра дҳаргарц азы. Ҳара анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы ҳарзаԥхьеит. Уи асаламшәҟәы даараӡа ргәы шьҭнахит. Уа ианын: «Ҳара еснагь шәара шәзы Анцәа ҳиҳәоит. Иегова шәшаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟоуп». Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа агха рмыхьӡеит. Иахьа Руанда 30 000-ҩык инареиҳаны Иегова ишаҳаҭцәа ыҟоуп. Дара гәырӷьаҵәа Иегова имаҵ руеит!
СЫЗНУ АМҨА АНЫҴРА СЫГӘГЬЫ ИҬАМ
2011 шықәсазы даараӡа бзиа избоз сыԥҳәыс Елли дыԥсит. Лареи сареи 58 шықәса раҟара ҳаицынхон. Лара лыда даараӡа исцәыцәгьан. Сгәы иҭаз ахьаа Иегова изеиҭасҳәон, иаргьы сгәы ирҭынчуан. Иара убас ауаа Аҳра иазку ажәабжь бзиа ахьырзеиҭасҳәоз сымч ҭанаҵон.
Уажәшьҭа 90 шықәса сырҭысхьеит, ус шакәугьы, есымчыбжьа ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭасҳәоит. Иара убас даараӡа сеигәырӷьоит иахьсылшо бельгиатәи афилиал аҿы иҟоу аиуристтә ҟәша ацхыраара аҭара, исымоу аԥышәа егьырҭ рыцеиҩшара, насгьы афилиал аҿы амаҵ зуа аҿар ргәы ашьҭыхразы аҭаарақәа рыҟаҵара.
Раԥхьа Иегова саниҳәаз аахижьҭеи 84 шықәса раҟара ҵит. Убасҟан Иеговеи сареи ҳаиҩызара алагеит. Урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳаиҩызара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон. Сара Иегова идуӡӡан иҭабуп ҳәа иасҳәоит есымша сыҳәарақәа дахьырзыӡырҩуаз, рҭакгьы ахьыҟаиҵоз азы! (Аԥсал. 66:19) b.