Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 26

АШӘА 8 Иегова ҳбаагәара иоуп

Иегова шәыцаҟьа иакәны дҟашәҵа

Иегова шәыцаҟьа иакәны дҟашәҵа

«Ҳанцәа иеиԥшу ацаҟьа ыҟаӡам» (1 САМ. 2:2).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова ацаҟьа дзаҿырԥшу, насгьы уи иаҳнарҵо.

1. Дызҿирԥшызеи Давид Иегова, Аԥсалом 18:46 инақәыршәаны?

 ҲАРА уаҵәтәи амш иаҳзаанаго анҳзымдыруа аамҭазы ҳанхоит. Ҳаԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахыр алшоит. Аха ҳара ҳхала ҳаҟаӡам, Ҳанцәа еснагь дҳацуп. Ҳазхысыз астатиа аҟынтә еилаҳкааит «Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу, еснагь ҳацхраарагьы дшазхиоу. (Шәаԥхьа Аԥсалом 18:46.) Давид Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа иоуп ҳәа аниҳәа ашьҭахьҵәҟьа зыԥсы ҭам ацаҟьа даҿирԥшит. Шәааи еилаҳкаап ус зиҳәаз.

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Ари астатиаҿы ҳара еилаҳкаауеит Иегова ацаҟьа дзаҿырԥшу, уи иара изкны иаҳнарҵо. Иара убас ҳацаҟьа иакәхарц азы иҟаҵатәу, насгьы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.

ИЕГОВА АЦАҞЬА ДЗАҾЫРԤШУ

3. Даҿзырԥшуадаз Иегова ацаҟьа, насгьы избан? (Шәахәаԥш асахьа.)

3 Анцәа имаҵзуҩцәа Иегова дандырҽхәоз ацаҟьа даҿдырԥшуан. Избан Абиблиаҿы Иегова ацаҟьа дзаҿырԥшу? Уи аиҿырԥшра илоу ҟазшьақәак ибзианы иҳаилнаркаауеит. Раԥхьаӡа акәны Иегова «Ацаҟьа» ҳәа изҳәоуп Ҩынтәзакәан 32:4 аҿы. Анна лыҳәара аҿгьы Анцәа ацаҟьа даҿлырԥшит. Лара илҳәеит: «Ҳанцәа иеиԥшу ацаҟьа ыҟаӡам» (1 Сам. 2:2). Аԥааимбар Аввакум Анцәа «Сыцаҟьа» ҳәа изиҳәеит (Авв. 1:12). 73-тәи Аԥсалом зҩызгьы «Анцәа сгәы ацаҟьа иоуп» ҳәа иҳәеит (Аԥсал. 73:26). Иегова ихаҭагьы ихы «Ацаҟьа» иаҿирԥшит (Ис. 44:8). Шәааи ҳалацәажәап Анцәа ацаҟьа дзаҿырԥшу, насгьы иара ҳацаҟьа иакәны дҟаларц азы иҟаҵатәу (Ҩынтә. 32:31).

Иегова имаҵзуҩцәа рзы ацаҟьа даҩызоуп. (Шәахәаԥш абзац 3.)


4. Дызлеиԥшузеи Иегова ахыҵакырҭа? (Аԥсалом 94:22).

4 Иегова — ҳхыҵакырҭа иоуп. Ақәаршҩы ӷәӷәа анауа, ауаҩы ацаҟьаҿы иҽиҵәахыр илшоит. Убас еиԥшҵәҟьа ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо Иегова ҳихьчоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 94:22.) Иара дҳацхраауеит иареи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара. Иара убас уажәы рыцҳарак ҳақәшәаргьы, ҳаԥхьаҟа уи зегь шириашо агәра ҳиргоит. Аха Ҳанцәа ҳзықәиргәыӷуа уи мацара акәӡам. Ҳаԥхьаҟа иара иқәигоит агәҭынчра ҳамызхуа, насгьы ҳзыргәаҟуа зегьы (Иез. 34:25, 26).

5. Иҟаҵатәузеи, Иегова ҳара ҳзы хыҵакырҭаны дҟаларц азы?

5 Иҟаҵатәузеи, Иегова ҳара ҳзы ахыҵакырҭа даҩызахарц азы? Иара иҳәалатәуп. Иегова ҳаниҳәо, ҳгәи ҳахшыҩи зыхьчо «Анцәа иҭынчра» ҳаиҭоит (Флп. 4:6, 7). Абар зхаҵаразы абахҭа иҭаркыз Артиом иҿырԥшы. Арыцҳашьара зламыз аусеилыргаҩ Артиом иҿахәы аниҿихуаз длаирҟәуан, диқәыӷәӷәон. Уи Артиом ашәара изцәырнагон. Аха иҟаиҵози иара? Иара иҳәоит: «Сара Иегова сгәы ирҭынчырц, аҟәышрагьы сиҭарц сиҳәон». Артиом ибон аусеилыргаҩ иҟаиҵалакгьы, уи акгьы шалымҵуаз. Уи Артиом игәы ҟанаҵон. Иара иҳәоит: «Иегова сара ацаҟьа дысзаҩызахеит».

6. Избан Иегова есымша ҳиқәгәыӷлар зҳалшо? (Исаиа 26:3, 4).

6 Иегова — уиқәгәыӷыртә дыҟоуп. Ацаҟьа ахаан ишеиҭамҵуа еиԥш, Иеговагьы есымша ҳааигәара дыҟоуп. Иара ахаан ҳаанижьӡом. Ҳара ҳиқәгәыӷлар ҳалшоит, избанзар иара «наӡаӡа иҟоу Ацаҟьа иоуп». (Шәаԥхьа Исаиа 26:3, 4.) Иегова есымша дыҟазаауеит. Ус анакәха, ҳаҳәарақәагьы есымша дырзыӡырҩлоит, дагьҳацхраалоит. Иара ҳзықәиргәыӷыз зегьы наигӡоит. Иегова иқәгәыӷразы даҽа мзызкгьы ҳамоуп — иара имаҵзуҩцәа еснагь дрызиашоуп, ахаангьы иаанижьӡом (2 Сам. 22:26). Иара ахаан ҳус бзиақәа ихашҭӡом, ҳамҭадагьы ҳаанижьӡом (Аур. 6:10; 11:6).

7. Еилаҳкаауазеи, Иегова ҳиқәгәыӷлар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Иегова ҳаниқәгәыӷуа, иара ҳара ҳзы ацаҟьа даҩызахоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иҳаиҳәо зегьы ахәарҭа шаҳзаанаго. Убри аҟынтә аамҭа цәгьақәа раангьы иара ҳаизыӡырҩуеит (Ис. 48:17, 18). Дышҳацхраауа анаҳбо, еиҳагьы игәра ҳго ҳалагоит. Уи Иегова ицхыраарада иҳазхымго ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа ҳарзыҟанаҵоит. Ауаҩы акгьы ахьилымшо аҭагылазаашьақәа рҿы ҳара еилаҳкаауеит Анцәа ида ԥсыхәа шҳамам, шаҟа иқәгәыӷра иаԥсоу. Абар аиашьа Владимир данҭакыз аамҭа игәаларшәо ииҳәо: «Санҭакыз аамҭа Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа рзы иреиӷьыз аамҭан. Уи аҭагылазаашьа Иегова иқәгәыӷшьа снарҵеит, избанзар иара ида исыцхраауаз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт».

Иегова ҳаниқәгәыӷуа, иара ҳара ҳзы ацаҟьа даҩызахоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)


8. а) Дызлеиԥшузеи иҵегь Иегова ацаҟьа? б) Избан Анцәа ҳацаҟьа ахьиакәу ҳзеигәырӷьо? (Аԥсалом 62:6, 7).

8 Иегова иажәа жәоуп, иҽиԥсахӡом. Шәхаҿы иаажәг ацаҟьа ду. Уи есымша ишыҟац иҟоуп, ахаангьы аҽаԥсахӡом. Убасҵәҟьа Анцәагьы иҽиԥсахӡом. Иара ииҳәаз наигӡоит, иажәақәа дрыцәхьаҵӡом. Иара ихаҭагьы иҽиԥсахӡом, игәҭакгьы иԥсахӡом (Мал. 3:6). Едемтәи абаҳчаҿы Адами Евеи Иегова иҿагылеит, аха иара ауаа рганахьала имаз игәҭакы имԥсахӡеит. Апостол Павел иҳәеит Иегова «ихы дзаҿагылаӡом» ҳәа (2 Тим. 2:13). Иаанагозеи уи? Иҟалалакгьы, егьырҭ рхы шымҩаԥыргозаалакгьы, Иегова дшыҟац даанхоит. Иара игәҭаки инормақәеи рҽырыԥсахӡом. Иҭынчым, уажәы-уажәы зҽызыԥсахуа арҭ аамҭақәа рзы ҳара Иегова ҳиқәгәыӷлар ҳалшоит. Иара иоуп гәыӷырҭас, еиқәырхаҩыс иҳамоу. (Шәаԥхьа Аԥсалом 62:6, 7.)

9. Ишәнарҵозеи Татиана лҭоурых?

9 Иегова иҟазшьақәеи игәҭаки ҳхы рзаҳашьҭуазар, иара ҳара ҳзы ацаҟьа даҩызахоит. Уи ҳацхраауеит иуадаҩу аамҭақәа рзы агәҭынчра ахьчара (Аԥсал. 16:8). Татиана уи ус шакәыз агәра лгеит. Лара Анцәа дахьхалҵоз азы аҩны адәылҵра азин лымамкәа дҭаркит. «Сара схалаҵәҟьа саанхеит... — лҳәоит лара. — Раԥхьа даара исцәыцәгьан. Уажәы-уажәы сгәы каҳауан». Илыцхраазеи лара агәҭынчра аиура? Лара Иеговеи игәҭаки лхы рзылышьҭит. Татиана иацылҵоит: «Сара еилыскааит ари зегьы сзақәшәаз Иегова ихьӡ азы шакәу. Уи сыцхрааит мыцхәы схы азымхәыцра».

10. Иҟаҵалатәузеи иахьа, Иегова ҳацаҟьа иакәхарц азы?

10 Ҳаԥхьаҟа аамҭа цәгьақәа ҳзыԥшуп. Усҟан Анцәа уажәы аасҭагьы ҳиқәгәыӷлар акәхоит. Убри аҟынтә иахьа Иегова иахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәалароуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп ҳзықәшәозаалакгьы, иара ҳизиашаны аанхара дышҳацхраауа. Иҳарӷәӷәалар шԥаҳалшо ҳагәрагара? Шәаԥхьала Анцәа ажәытәан инхоз, насгьы иахьа инхо имаҵзуҩцәа дышрыцхраауаз атәы. Шәазхәыцла Анцәа урҭ шеиқәирхоз, ишихьчоз. Усҟан Иегова шәаргьы шәыцаҟьа иакәхоит.

ИЕГОВА ШӘИҾЫԤШЛА

11. Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшлар? (Шәахәаԥш арамка « Иқәыԥшу аишьцәа рзы ахықәкы».)

11 Ҳара еилаҳкааит Иегова ацаҟьа дзаҿырԥшу. Шәааи уажәшьҭа ҳалацәажәап ҳара ҳаиҿыԥшлар шҳалшо. Шаҟа еиӷьны ҳаиҿыԥшуа аҟара, убри аҟара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра ҳалшоит. Иисус Симон даҽа хьӡык ииҭеит — Кифа (бырзен бызшәала Пиотр), уи иаанагоит «ацаҟьа ԥҽыха» (Иоанн 1:42). Уи Пиотр аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шышьҭихло, насгьы рхаҵара арӷәӷәара дышрыцхраало аанарԥшуан. Абиблиаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа «ацаҟьа ду иунаҭо ашәшьыра» иаҿырԥшуп, избанзар дара аизара иеиҷаҳауеит (Ис. 32:2). Ҳәарада, уи аҟаҵара зыхәҭоу аизара ахылаԥшыҩцәа рымацара ракәӡам. Ҳарҭ зегьы иҳалшоит Иегова ҳаиҿыԥшны, аӡәи-аӡәи ҳгәы шьҭибахлар, убасала аӡәи-аӡәи ҳзы ацаҟьа ҳаҩызахар (Еф. 5:1).

12. Иҟаҳҵар ҳалшозеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи хыҵакырҭак еиԥш ҳарзыҟаларц азы?

12 Хыҵакырҭаны шәыҟаз. Зны-зынла аишьцәеи аиҳәшьцәеи аԥсабаратә рыцҳарақәеи, аилаҩынтрақәеи, аибашьрақәеи ирыхҟьаны рыҩнқәа ааныжьны ацара рықәшәоит. Ҳара урҭ ҳадаҳкылар ҳалшоит, ҳаҩнқәа дара рзы хыҵакырҭаны иҟаларц азы. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа еицәахоит (2 Тим. 3:1). Убри аҟынтә еиҳагьы ҳаицхыраалар акәхоит. Иара убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлар, насгьы рхаҵара ҳарӷәӷәалар ҳалшоит. Ишԥа? Иаҳҳәап, Аҳратә зал ахь ианнеиуа, гәыкала ҳарԥылозар, насгьы ргәы шьҭаҳхуазар. Усҟан дара бзиа ишырбо, ишырзыԥшу еилыркаауеит, аизарагьы ҭаацәарак ирзаҩызахоит. Ҳара абзиабареи аҭынчреи ахьыҟам адунеи аҿы ҳанхоит. Убри аҟынтә иаҳҭахуп аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ҭынчзарц, насгьы аизарақәа дара рзы хыҵакырҭаны иҟаларц.

13. Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы хыҵакырҭаны аҟалара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Аизара ахылаԥшыҩцәа ауадаҩрақәа раан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы хыҵакырҭаны иҟалар рылшоит. Иаҳҳәап, аԥсабаратә рыцҳарақәа ианрықәшәо ма аҳақьым ицхыраара анырҭаху, аизара ахылаԥшыҩцәа аамҭа мгакәа урҭ рыцхраара иалагоит. Иара убас Абиблиа рхы иархәаны ргәы шьҭырхуеит, ргәы дырҭынчуеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара ахылаԥшҩы арыцҳашьара аарԥшны дшырзыӡырҩуа, ишеиликаауа анырдыруа, ацхырааразы иҳәара рзымариоуп. Аизара ахылаԥшҩы бзиа ҳшибо анаҳдыруа, Абиблиа аҟынтә иҳаиҭо алабжьарақәа рыдкылара ҳзымариоуп (1 Фес. 2:7, 8, 11).

Аизара ахылаԥшыҩцәа ауадаҩрақәа раан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы хыҵакырҭаны иҟалар рылшоит. (Шәахәаԥш абзац 13.) a


14. Иҟаҳҵар акәзеи узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны ҳҟаларц азы?

14 Узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны шәыҟаз. Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳақәгәыӷлар ҳҭахуп, еиҳарак аамҭа цәгьақәа раан (Ажәам. 17:17). Иҟаҳҵар акәзеи, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны ҳҟаларц азы? Ақьырсиантә ҟазшьақәа аамҭа-аамҭала акәымкәа, есымша иааҳарԥшлароуп. Иаҳҳәап, аӡәы ажәа иаҳҭазар, инаҳагӡароуп, абри аамҭазы снеиуеит ҳәа ҳҳәазар, убри аамҭазы ҳнеироуп (Матф. 5:37). Иара убас аӡәы ацхыраара иҭахызар, ҳицхраароуп. Аизараҿы адҵа ҳарҭазар, уи анапхгара ишаҳәо еиԥш инаҳагӡароуп.

15. Избан зыгәра угартә иҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа аизаразы изҳамҭа дуу?

15 Узықәгәыӷыртә иҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа аизаразы ҳамҭа дууп. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Аизара ахылаԥшҩы (иаҳҳәап, ажәабжьҳәаратә гәыԥ ахылаԥшҩы) аишьцәеи аиҳәшьцәеи дырзааигәазар, усҟан даргьы аказы иҳәара, идгылара еиҳа ирзымариахоит. Иара убас ажәабжьҳәаҩцәа ианырбо аизара ахылаԥшҩы рыцхраара дшазхиоу, бзиа ишибо еилыркаауеит. Аизара ахылаԥшҩы аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьарақәа анриҭо, ихатә гәаанагара акәымкәа, Абиблиеи апубликациақәеи шьаҭас иҟаиҵоит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи анырбо, аизара ахылаԥшҩы еиҳагьы игәра рго иалагоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа рыгәра агаразы даҽа мзызкгьы ҳамоуп. Дара ираҳҳәо амаӡа аӡәгьы иарҳәаӡом, насгьы ражәа нарыгӡоит.

16. Ишԥаҳахәо ҳара, насгьы ишԥарыхәо егьырҭ Иегова ҳизиашаны ҳахьаанхо?

16 Иегова шәизиашаз. Есымша Иегова ҳаизыӡырҩуазар, аӡбара анҳадаҳкыло Иажәа ҳазхәыцуазар, егьырҭ аҿырԥш бзиа раҳҭоит. Абиблиа ҭаҳҵаауазар, насгьы ҳхаҵара ҳарӷәӷәозар, Иегова ҳизиашаны ҳаанхоит, инормақәагьы есымша ҳрықәныҟәалоит. Усҟан иҟаҳҵо ҳзымдыруа, ҳлакҩакуа ҳақәхаӡом, зны анс ҟазҵо, зны арс ҟазҵо ауаҩы ҳиеиԥшхаӡом, амцҵарақәа ҳхырхӡом, адунеи ахәаԥшышьа ҳҽаҳҭаӡом (Еф. 4:14; Иак. 1:6—8). Иегова игәра ҳгозар, ҳзықәиргәыӷыз шынаигӡогьы агәра ганы ҳаҟазар, иҽеим ажәабжьқәа анҳаҳауа ҳгәы каҳажьлаӡом (Аԥсал. 112:7, 8). Иара убас ауадаҩрақәа ирықәшәо цхырааҩыс ҳарзыҟалоит (1 Фес. 3:2, 3).

17. Ишԥарыцхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

17 Иегова иҭахуп аизара ахылаԥшыҩцәа рышьцыларақәа ирыцклаԥшлар, ииашаны ихәыцлар, еиҿкаазар, иҟәымшәышәзар. Дара «ииашоу Анцәа иажәа» иахыԥаӡом, уи ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара дырӷәӷәоит, агәҭынчра ахьчарагьы ирыцхраауеит (Тит 1:9; 1 Тим. 3:1—3). Аиҷаҳара аазырԥшуа аизара ахылаԥшыҩцәа рхатә ҿырԥшала иаҳдырбоит шаҟа ихадоу аизара аҭаара, ажәабжь аҳәара, ҳхатә ҭҵаара амҩаԥгара. Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, аизара ахылаԥшыҩцәа ҳавагылоуп. Урҭ ҳацхраауеит ҳауадаҩрақәа ракәымкәа, Иеговеи иара иқәыргәыӷрақәеи ҳхы рзышьҭра.

18. Ҳгәазҭазҵозеи Иегова ирҳаракра, насгьы ҳаиҩызара арӷәӷәара? (Шәахәаԥш иара убас арамка « Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала».)

18 Ари астатиа ҳацхрааит Анцәа илоу ҟазшьақәак еиҳагьы еиӷьны реилкаара. Ҳаргьы аҳ Давид ииҳәаз ажәақәа ҳрықәшаҳаҭуп. Иара иҳәеит: «Ддырҽхәалааит Иегова, сара Сыцаҟьа» (Аԥсал. 144:1). Иегова узықәгәыӷыртә иҟоу Анцәа иоуп. Иара ус дыҟан, уажәгьы ус дыҟоуп, наӡаӡагьы ус дыҟазаауеит. Иегова есымша ҳааигәара дыҟазаауеит, ҳаргьы ҳаиҩызара наӡаӡа иҳахьчалар ҳҭахуп. Шаҟа ҳхыҵуазаалакгьы ҳаргьы абас ҳҳәар ҳалшоит: «Иара Сыцаҟьа иоуп» (Аԥсал. 92:14, 15).

АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала

a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аҳратә зал аҿы аиаҳәшьа аизара ахылаԥшыҩцәа лгәы иҵхо рзеиҭалҳәоит.