Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 23

«Иах имцабз» ыцәар жәымун!

«Иах имцабз» ыцәар жәымун!

«[Абзиабара] — ижжаӡа иаку мцоуп, Иах имцабз ауп» (АШӘА 8:6).

АШӘА 131 «Убас Анцәа иеидикылаз»

АХҲӘАА a

1. Ишԥахцәажәо Абиблиа абзиабараҵәҟьа?

 АБЗИАБАРА... «Уи — ижжаӡа иаку мцоуп, Иах имцабз ауп. Аӡ дуқәа абзиабара дырцәаӡом, аӡиасқәагьы хыҵны уи рызгаӡом» (Ашәа 8:6, 7) b. Шаҟа иԥшӡаны аӡбахә ҳәоузеи абзиабараҵәҟьа! Арҭ ажәақәа аҭаацәара иалоу хаҵеи-ԥҳәыси агәра днаргоит: шәара ишәыбжьоу абзиабара наӡаӡа иҟазар алшоит.

2. Иҟарҵалар акәзеи хаҵеи-ԥҳәыси ирыбжьоу абзиабара мыхьшәашәарц азы?

2 Бзиа еибабалома хаҵеи-ԥҳәыси рыԥсы ахьынӡаҭоу? Уи дара роуп изыӡбо. Иааҳгап ҿырԥштәык. Амца ахаан имыцәар ауеит, аха уи азы есымша амҿы ақәҵалатәуп. Уи аӡәгьы иҟаимҵалар, хәыҷы-хәыҷла амца ыцәоит. Убас еиԥшҵәҟьа хаҵеи-ԥҳәыси рыбзиабара наӡаӡа иӷәӷәазар ауеит, аха уи азы дара реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәалароуп. Зны-зынла хаҵеи-ԥҳәыси шеицәыхьшәашәо гәарҭозар ауеит. Уи аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, агәамбзиара, мамзаргьы ахәыҷқәа рааӡара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирыхҟьозар алшоит. Убри аҟынтә, ҳаҭыр зқәу ахацәеи аҳәсеи, иҟашәҵар шәылшозеи «Иах имцабз» ахаан имыцәарц азы? Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит шәеизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчареи, шәҭаацәалазаара алагәырӷьареи ишәыцхраауа х-лабжьарак c.

ИЕГОВЕИ ШӘАРЕИ ШӘЕИҨЫЗАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА

Аҭаацәара иалоу ахацәеи аҳәсеи Иосифи Мариеи реиԥш Иеговеи дареи реиҩызара ахә ҳаракны иршьалароуп. (Шәахәаԥш абзац 3.)

3. Ишԥарыцхраауеи хаҵеи-ԥҳәыси Иеговеи дареи ирыбжьоу аиҩызара бзиа рҭаацәалазаараҿы ирымоу абзиабара арӷәӷәара? (Екклезиаст 4:12). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

3 «Иах имцабз» жжаӡа иакызарц азы, ахаҵагьы аԥҳәысгьы ирылшо зегь ҟарҵалароуп, Иеговеи дареи ирыбжьоу аиҩызара дырӷәӷәаларц азы. Ишԥацхраауеи уи рҭаацәалазаара? Хаҵеи-ԥҳәыси жәҩантәи Раби дареи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны иршьозар, иара урҭ ириҭо алабжьарақәа гәыкала рхы иадырхәоит. Уи рыцхраауеит рыбзиабара зырхьшәашәар алшо ауадаҩрақәа рыхгара. (Шәаԥхьа Екклезиаст 4:12.) Иара убас зхаҵара ӷәӷәоу ауаа Иегова иҿыԥшреи иара илоу аҟазшьақәа реизырҳареи рҽазыршәоит. Дара ақьиареи ачҳареи раарԥшра, насгьы гәыҭбаарала рыгхақәа ранеибажьра рҽазыршәоит (Еф. 4:32—5:1). Ус еиԥш иҟоу аҭаацәараҿы, абзиабара еиҳа-еиҳа еизҳалоит. 25 шықәса инареиҳаны аҭаацәара иалоу Лена илҳәоит: «Зхаҵара ӷәӷәоу ауаҩы бзиа ибареи пату иқәҵареи еиҳа имариоуп».

4. Избан Иегова Мессиа изы ҭаацәас Иосифи Мариеи залихыз?

4 Ҳахәаԥшып библиатә ҿырԥштәык. Иегова иираны иҟаз Мессиа изы аҭаацәа аналихуаз, Давид ишьҭра иатәыз зегь рҟынтә Иосифи Мариеи алихит. Избан? Урҭ рҩыџьагьы Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәан. Анцәа идыруан урҭ рҭаацәалазаараҿы иара иахь абзиабара зегь раасҭа ишхадазаауа. Аҭаацәара иалоу ахацәеи-аҳәсеи, ирҿышәҵаар шәылшозеи Иосифи Мариеи?

5. Иҿырҵаар рылшозеи аҭаацәара ахадацәа Иосиф?

5 Иосиф гәыкала Иегова инапхгара дықәныҟәон, убри аҟынтә ибзиоу аҭаацәара ахада иакәхеит. Абиблиаҿы иануп иара аҭаацәара ахада иаҳасабала Анцәа иҟынтә анапхгара аниоуаз атәы ахьаҳәо х-хҭыск. Урҭ рыхҭагылазаашьак рҿы иара иаразнак Анцәа ииҳәоз ҟаиҵон, уи иԥсҭазаараҿы аԥсахра дуқәа ишрыдҳәалазгьы (Матф. 1:20, 24; 2:13—15, 19—21). Анцәа имҩақәҵарақәа дахьырзыӡырҩуаз абзоурала Иосиф Мариа дихьчон, длыцхраауан, насгьы дылхылаԥшуан. Уи азы Мариа еиҳагьы бзиа дылбозҭгьы, насгьы пату иқәылҵозҭгьы ҟаларын. Ҳаҭыр зқәу аҭаацәара ахадацәа, ишԥашәылшо Иосиф шәиҿыԥшлар? Шәҭаацәара ишахылаԥшлатәу иазку Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа шәыԥшаала d. Шәыԥсҭазаараҿы аԥсахра дуқәа ҟаҵатәхаргьы, урҭ алабжьарақәа шәхы иашәырхәала. Убас ала шәхатә ҩыза лахь абзиабара аашәырԥшуеит, шәҭаацәалазаарагьы шәырӷәӷәоит. 20 шықәса инареиҳаны аҭаацәара иалоу Вануа́ту иатәу иаҳәшьак илҳәоит: «Сыԥшәма Иегова инапхгара ԥшааны, уи ақәныҟәара иҽшазишәо анызбо, еиҳагьы пату иқәысҵоит. Усҟан сара акгьы сацәшәаӡом, насгьы идикылаз аӡбарақәа шиашоу агәра ганы сыҟоуп».

6. Илҿырҵаалар рылшозеи аҭаацәара иалоу аҳәса Мариа?

6 Мариа Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәан. Лара лхаҵара ахьыӷәӷәаз Иосиф иакәӡамызт изыбзоураз. Лара Иԥшьоу Аҩыра бзианы илдыруан e. Насгьы уи азхәыцразы аамҭа алылхуан (Лука 2:19, 51). Ҳәара аҭахума, Мариа лхаҵара ӷәӷәан азы хатә ҩыза бзианы дҟалеит. Иахьа аҳәса аӡәырҩы Мариа леиԥш ахымҩаԥгара рҽазыршәоит. Абар Емико́ зыхьӡу аиаҳәшьа еиҭалҳәаз: «Сара аҭаацәара салалаанӡа, адоуҳатә усқәа рзы схатә график сыман. Аха аҭаацәара саналала ашьҭахь зегьы аҽаԥсахит. Уажәшьҭа схатә ҩыза иоуп Анцәа иҳәо, амш иазалху ажәеинраала еилзырго, насгьы аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥызго. Ҽнак зны сара еилыскааит схаҵара аԥсы злаҭоу иара иҟаиҵо мацарала шакәу. Сара еилыскааит Иеговеи сареи ҳаиҩызара сырӷәӷәаларц азы схаҭагьы ак ҟасҵалар шсыхәҭоу. Уи сара сеидара ауп. Убри аҟынтә Сынцәеи сареи ҳаиҩызара арӷәӷәаразы иҳәареи, Иажәа аԥхьареи, сзыԥхьо азхәыцреи рзы аамҭа алысхуа салагеит» (Гал. 6:5). Ҳаҭыр зқәу аҭаацәара иалоу аҳәса, Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәозар, шәхатә ҩызцәа бзиа шәбаразы, насгьы шәырҽхәаразы еиҳагьы ирацәаны амзызқәа рымазаауеит (Ажәам. 31:30).

7. Ишԥарылшо аҭаацәарақәа Иосифи Мариеи реиԥш еидгыланы Иегова имаҵ рулар?

7 Иара убас Иосифи Мариеи Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәаларц азы еидгыланы аџьабаа рбон. Дара еилыркаауан ҭаацәаныла Иегова имҵахырхәара шаҟа ихадоу (Лука 2:22—24, 41; 4:16). Уи рзымариамызҭгьы ҟаларын, еиҳараӡак ахәыҷқәа анроу. Аха дара уи рылшеит. Шаҟа ҿырԥш бзиоузеи иахьатәи аҭаацәарақәа рзы! Шәара ахәыҷқәа шәымазар, аизарақәа рахь аныҟәара, ма аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгара шәзымариамзар алшоит. Уи адагьы шәхатә ҩызеи шәареи шәеидтәаланы Абиблиа аҭҵааразы, ма Анцәа иҳәаразы аамҭа алхра еиҳагьы ишәзымариамзар ауеит. Аха ишәхашәмыршҭлан: шәеидгыланы Иегова имаҵ жәулар, иаргьы шәизааигәахоит, шәхатә ҩызагьы шәаргьы шәеизааигәахоит. Убри аҟынтә Иегова имаҵ аура шәыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишәыргылала.

8. Иарбан лабжьароу аҭаацәараҿы ауадаҩрақәа змоу хаҵеи-ԥҳәыси рхы иадырхәар рылшо аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгара иазкны?

8 Аха иҟашәҵар шәылшозеи шәҭаацәараҿы ауадаҩрақәа шәымазар? Уи иахҟьаны аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгара уиаҟара ишәҭахымзар ауеит. Ус акәзар, амаҷ ала шәалага: шәҩыџьагьы ишәгәаԥхо акы иааркьаҿны шәалацәажәа. Уи шәеизыҟазаашьақәа арӷәӷәар алшоит, насгьы адоуҳатә усқәа реицыҟаҵара шәгәанарԥхар ауеит.

ААМҬА ЕИЦЫШӘХЫЖӘГАЛА

9. Избан аҭаацәара иалоу ахацәеи аҳәсеи аамҭа еицырхыргалар зхадоу?

9 Аҭаацәара иалоу ахацәеи аҳәсеи, шәара иара убас ишәыбжьоу абзиабара шәырӷәӷәалар шәылшоит аамҭа еицышәхыжәгалар. Уи шәхатә ҩыза дзызхәыцуа, насгьы ицәаныррақәа реилкаара ишәыцхраауеит (Аҟаз. 2:24). Абар 15 шықәса инареиҳаны раԥхьа еибагаз Лилиеи Руслани рчара ашьҭахь хара имгакәа игәарҭаз. Лилиа илҳәоит: «Ҳара шаҟа ҳҭахыз аамҭа еицаҳхаҳгалартә алшара ҳамамызт. Аусура ашьҭахь аҩн усқәа ҳрылагон, нас ахәыҷқәагьы ҳауит. Ҳара еилаҳкааит аамҭа еицаҳхаҳамгалар, ҳшеицәыхарахо».

10. Ишԥарылшо аҭаацәара иалоу ахацәеи аҳәсеи Ефесаа рахь 5:15, 16 иану апринцип рхы иадырхәар?

10 Иҟашәҵар шәылшозеи шәхатә ҩызеи шәареи аамҭа еицышәхыжәгаларц азы? Аграфик шьақәшәыргыл. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 5:15, 16.) Нигериа иатәу Узо́нду зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Саамҭа анеихысшо еснагь сыԥшәма лзы аамҭа алысхуеит. Уи сыграфик аҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит» (Флп. 1:10). Молдова иатәу араион ахылаԥшҩы иԥшәма Анастасиа лаамҭа шеихылшо иазкны абас лҳәоит: «Сыԥшәма иду аҭакԥхықәрақәа анынаигӡо сара сусқәа ҟасҵоит. Нас иара ихы данақәиҭхалак аамҭа еицаҳхаҳгоит». Аха иҟашәҵар шәылшозеи даара шәахьеилахоу иахҟьаны, акы аицыҟаҵаразы аамҭа шәымамзар?

Еицыҟашәҵалар шәылшозеи хаҵеи-ԥҳәыси раҳасабала? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)

11. Иарбан усқәоу Акилеи Прискиллеи еидгыланы инарыгӡоз?

11 Аҭаацәара иалоу ахацәеи аҳәсеи Акилеи Прискиллеи ирҿырҵаар рылшо рацәоуп. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа аӡәырҩы урҭ хаҵеи-ԥҳәыси даара бзиа ирбон (Рим. 16:3, 4). Абиблиаҿы урҭ рыԥсҭазаашьа аӡбахә рацәак шанымгьы, ҳара иаҳдыруеит дара еидгыланы аус шыруаз, ажәабжь шырҳәоз, насгьы егьырҭ ауаа ишрыцхраауаз (Аус. 18:2, 3, 24—26). Акилеи Прискиллеи рыӡбахә Абиблиаҿы иахьуԥылозаалакгьы, урҭ рыӡбахә џьаргьы хаз-хазы ианӡам.

12. Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси еиҳаны аамҭа еицырхыргалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Ишԥарылшо аҭаацәара иалоу хаҵеи-ԥҳәыси Акилеи Прискиллеи ирҿыԥшлар? Аҭаацәараҿы иҟаҵатәу аусқәа даара ирацәоуп. Ишәылшома урҭ рҟынтә усқәак хаз-хазы акәымкәа, еицыҟашәҵалар? Иаҳҳәап, Акилеи Прискиллеи ажәабжь еицырҳәон. Шәара ажәабжь еицышәҳәаларц азы аамҭа алхны ишәымоума? Иара убас Акилеи Прискиллеи аус еицыруан. Шәара хаз-хазы аус жәуазаргьы, ишәылшома аҩнтәи усқәак еицыҟашәҵалар? (Еккл. 4:9). Усқәак еицыҟашәҵалар, командак шәшатәу жәбалоит, насгьы аицәажәаразы еиҳаны алшара шәоуеит. Роберти Линдеи еибагеижьҭеи 50 шықәса иреиҳауп. Роберт еиҭеиҳәоит: «Аиаша уҳәозар, ҳара ҳаԥсы еицаҳшьаларц азы рацәак аамҭа ҳамаӡам. Аха сара асаанқәа анысыӡәӡәо, лара урҭ анлырбо, мамзаргьы сара ауҭраҿы санырашәо, лара дсывагыланы аус анылуа, сгәы ҭгәырӷьаауеит! Усқәак анеицыҟаҳҵо еиҳагьы ҳаизааигәахоит, ҳабзиабарагьы еиҳа еизҳауеит».

13. Ирыцхраар алшозеи хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара?

13 Аха ишәхашәмыршҭлан: хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьақәа бзиазарц азы џьарак еицыҟазар мацара азхаӡом. Бразилиа инхо аҭаацәара иалоу ԥҳәыск илҳәоит: «Иахьа ҳара зегьы даараӡа ҳаилахоуп. Ауаа ргәы иаанагалар алшоит хаҵеи-ԥҳәыси џьарак еицынхозар, рызхара еибабоит ҳәа. Аха сара еилыскааит уи мацара шазымхо. Даараӡа ихадоуп ухатә ҩыза аамҭа изалухлар». Иазгәашәҭ Бру́нои иԥҳәыс Таи́си уи шыҟарҵо. Бруно иҳәоит: «Ҳара ҳанеицу ҳҭелқәа наҟ инышьҭаҵаны, ҳазхара ҳаицәажәоит».

14. Иҟарҵар рылшозеи хаҵеи-ԥҳәыси, аамҭа аицыхгара ргәамԥхозар?

14 Аха иҟашәҵар шәылшозеи аамҭа аицыхгара шәгәамԥхозар? Иҟалап шәинтересқәа еиԥшымзар, мамзаргьы аӡәы ихымҩаԥгашьа даҽаӡәы игәы ԥнажәозар. Иҟашәҵар шәылшозеи? Ишәгәалашәыршәа зыӡбахә ҳҳәахьоу амца. Уи иаразнак еиқәылаӡом. Раԥхьа аҵәаҟьа хәыҷқәа рыла еиқәырҵоит, нас ауп амҿ дуқәа анақәырҵо. Убас еиԥшҵәҟьа есыҽны маҷк иадамзаргьы аамҭа еицышәхыжәгала. Шәҩыџьагьы ишәгәаԥхо акы еицыҟашәҵала, ишәзеимакырахо акы акәымкәа (Иак. 3:18). Амаҷ ала шәалагар, шәыбзиабара дырҩегь амцеиԥш еибакуеит.

ПАТУ ЕИҚӘЫШӘҴАЛА

15. Ишԥарӷәӷәо апатуқәҵара хаҵеи-ԥҳәыси ирыбжьоу абзиабара?

15 Аҭаацәалазаараҿы хаҵеи-ԥҳәыси пату анеиқәырҵо, уи акислород иаҩызоуп. Акислород ада амца ирласны ицәоит. Убас еиԥшҵәҟьа абзиабара патуқәҵарада ирласны ихьшәашәоит. Аха хаҵеи-ԥҳәыси пату еиқәырҵаларц азы ирылшо зегьы ҟарҵозар, рыбзиабара амца ыцәаӡом. Аха убри аамҭазгьы ишәхашәмыршҭлан: шәара шәхатә ҩыза пату иқәышәҵоит ҳәа шәгәы иаанагозаргьы, ихадоуп иаргьы уи ибалар. Аре́ти Пе́ннии аҭаацәара иалоижьҭеи 25 шықәса иреиҳауп. Пенни илҳәоит: «Ҳара пату еиқәаҳҵоит. Убри аҟынтә аԥхарра ҳабжьоуп. Ҳара ҳамшәо-ҳмырҳауа ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәоит, избанзар иара сара сгәаанагара пату ақәиҵоит, саргьы иара игәаанагара пату ақәысҵоит». Иҟашәҵар шәылшозеи шәара шәхатә ҩыза пату шиқәышәҵо ибарц азы? Шәааи ҳалацәажәап Авраами Сарреи рҿырԥшы.

Ахаҵа ихатә ҩыза лцәаныррақәа пату рықәиҵалароуп, насгьы гәыкала дылзыӡырҩлароуп. (Шәахәаԥш абзац 16.)

16. Иднарҵозеи аҭаацәара иалоу ахацәа Авраам иҿырԥшы? (1 Пиотр 3:7). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Авраам Сарра пату лықәиҵон. Иара лгәаанагара дазхәыцуан, насгьы лцәаныррақәа пату рықәиҵон. Зны Сарра убриаҟара лгәы каҳаны дыҟан, дзықәшәаз агәаҟра Авраам ихаралҵеит. Иҟаиҵазеи Авраам? Дгәамҵны аҭак лиҭама? Мап. Иара идыруан Сарра еснагь иҳәатәы шхалҵоз, насгьы аԥагьара шлыламыз. Убри аҟынтә лыгәҭыха анизеиҭалҳәоз, дылзыӡырҩит, насгьы ауадаҩра аӡбара иҽазишәеит (Аҟаз. 16:5, 6). Иднарҵозеи уи аҭаацәара иалоу ахацәа? Шәара аҭаацәараҿы аӡбарақәа шәыдышәкылаларц азы амчра шәымоуп (1 Кор. 11:3). Аха шәхатәҩыза лгәаанагара шәазхәыцлар, бзиа дшыжәбо аашәырԥшуеит. Уи еиҳараӡак ихадоуп ишәыдышәкыло аӡбара ларгьы илыҵанакуазар (1 Кор. 13:4, 5). Зны-зынла аԥҳәыс астресс лымазар ауеит, насгьы лгәы иҭоу аҳәара лҭахызар алшоит. Иаашәырԥшуама лцәаныррақәа рахь апатуқәҵара, насгьы гәыкала шәылзыӡырҩуама? (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:7.) Анжелеи Дмитрии аҭаацәара иалоижьҭеи 30 шықәса ҵырц егьагым. Анжела илҳәоит лхатә ҩыза пату шлықәиҵо агәра ганы дзыҟоу: «Сара сгәы каҳаны саныҟоу, мамзаргьы сгәы иҭоу аҳәара анысҭаху Дима еснагь сзыӡырҩра дазхиоуп. Семоциақәа ансызнымкылогьы, иара ачҳара ааирԥшуеит».

17. Илҿыԥшлар шԥарылшо аҭаацәара иалоу аҳәса Сарра? (1 Пиотр 3:5, 6).

17 Сарра Авраам пату иқәылҵон, убри аҟынтә идикылоз аӡбарақәа рҿы диқәшаҳаҭын (Аҟаз. 12:5). Зны Авраам Сарра длыҳәеит иаалырҟьаны ирзааз асасцәа пату рықәырҵарц азы лусқәа зегьы ааныжьны ирацәаны ача лӡырц (Аҟаз. 18:6). Сарра иаразнак Авраам ииҳәаз ҟалҵеит. Ҳаҭыр зқәу аҭаацәара иалоу аҳәса, шәара Сарра шәылҿыԥшлар шәылшоит шәхатә ҩыза иӡбарақәа рҿы шәидгылозар. Убас шәара шәҭаацәалазаара шәырӷәӷәоит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:5, 6.) Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Дмитри иҳәоит ихатә ҩыза пату шиқәылҵо агәра ганы дзыҟоу: «Сара даара ахә ҳаракны исшьоит ҳгәаанагарақәа анеиқәымшәогьы, Анжела исыдыскыло аӡбарақәа дахьрықәшаҳаҭхо. Исыдыскылаз аӡбара зегьы иреиӷьымзаргьы, лара уи акритика азылуӡом». Шаҟа имариоузеи пату уқәызҵо ауаҩы бзиа ибара!

18. Избан аҭаацәара иалоу ахацәеи аҳәсеи рыбзиабара амца мыцәарц азы ирылшо зегь ҟарҵалар зрыхәҭоу?

18 Аҩсҭаа иҭахуп ақьырсиантә ҭаацәарақәа рҿы иҟоу абзиабара амца ирцәарц. Иара идыруеит хаҵеи-ԥҳәыси бзиа аибабара иаҟәыҵыр, урҭ Иегова ишицәыхарахо. Аха абзиабараҵәҟьа иаԥырхагахар алшо амч ыҟаӡам! Убри аҟынтә шәҭаацәалазаараҿы иҟоу абзиабара Соломон иашәа аҿы зыӡбахә ҳәоу абзиабара еиԥшзааит. Ишәылшо зегь ҟашәҵала Иегова шәҭаацәалазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ ааникылаларц азы. Шәхатә ҩыза аамҭа изалышәхла. Насгьы шәара-шәара шәцәаныррақәеи шәҭахрақәеи пату рықәышәҵала. Убас ҟашәҵалар, шәҭаацәалазаара абзиабараҵәҟьа иахыҵхырҭоу Иегова дҳаранаклоит, насгьы шәыбзиабара амцабз ахаан ицәаӡом!

АШӘА 132 Уажәшьҭа ҳара цәеижькны ҳаҟоуп

a Аҭаацәалазаара — уи Иегова иҳаиҭаз ҳамҭоуп. Хаҵеи-ԥҳәыси дара-дара рыбжьара иҷыдоу абзиабара аадырԥшлар рылшоит. Аха зны-зынла ҭагылазаашьақәак ирыхҟьаны хаҵеи-ԥҳәыси еицәыхьшәашәоит. Ари астатиа хаҵеи-ԥҳәыси ирыцхраауеит ирыбжьоу абзиабара арӷәӷәареи насыԥ змоу рҭаацәалазаара алагәырӷьареи.

b Ак зԥырхагамхо, ахаан имиасуа абзиабараҵәҟьа «Иах имцабз» ҳәа азҳәоуп, избанзар уи хыҵхырҭас иамоу Иегова иоуп.

c Арҭ алабжьарақәа Иегова имаҵ зымуа ахатәҩыза дызмоу рзгьы ихәарҭоуп (1 Кор. 7:12—14; 1 Пиотр 3:1, 2).

d Ихәарҭоу алабжьарақәа рацәаны ишәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы, насгьы апрограмма JW Library® аҿы иаагоу «Помощь семье» ҳәа хыс измоу астатиақәа рҿы.