Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Аҭҵаара шымҩаԥгалатәу

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Аҭҵаара шымҩаԥгалатәу

«Ахьчаратә бааш онлаин-абиблиотека» аҿы иҟоу аилыркаагатә мыругақәа

Иҳамоу аилыркаагатә мыругақәа рҿы еиуеиԥшым атемақәа рыла аинформациа уԥшаар улшоит. Абар онлаин иҟоу урҭ рҟынтә мыругақәак: «Понимание Писания», «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга», насгьы «Индекс публикаций Сторожевой башни».

Урҭ аилыркаагақәа рҿы аинформациа шәыԥшаарц азы «Ахьчаратә бааш онлаин-абиблиотека» аҿы аԥшааратә цәаҳәа шәхы иашәырхәа. Уа ажәа анҵара шәаналаго иаатуа асиаҿы еиуеиԥшым авариантқәа цәырҵуеит. Шәзышьҭоу ажәа аилыркаагатә мыругақәа рҟны иҟоу ахеиҵақәа рҿы иуԥылозар, арыӷьарахь ицәырҵуеит ажәа «Тема».

Абас ҟашәҵа: аԥшааратә цәаҳәаҿы (А) ажәа «Иегова» анҵара шәалага. Шәақәыӷәӷәа ицәырҵуа авариант «Иегова», авараҿы ажәа «Тема» (Б) анызаауеит. Убасҟан шәара ижәбоит еиуеиԥшым аилыркаагатә мыругақәа рыла иаԥшааз аинформациа.