Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 22

«Иԥшьоу амҩа» шәанымҵын

«Иԥшьоу амҩа» шәанымҵын

«Уа идуу амҩа ҟалоит, ааи, Иԥшьоу ҳәа ззырҳәо амҩа» (ИС. 35:8).

АШӘА 31 Анцәа уицыз!

АХҲӘАА a

1, 2. Иарбан ихадоу ӡбароу ауриацәа ирыдыркылар акәыз? (Ездра 1:2—4).

 АҲ АДҴА ҟаиҵеит! 70 шықәса раҟара Вавилон итҟәаны иҟаз ауриацәа уажәшьҭа Израильҟа ихынҳәыр рылшон. (Шәаԥхьа Ездра 1:2—4.) Иегова ида уи аҩыза зыҟаломызт. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Вавилонҟа итҟәаны иргоз шамахамзар иоурышьҭӡомызт (Ис. 14:4, 17). Аха Вавилонтәи аимпериа хыбгалеит, насгьы иҿыцыз анапхгаҩы ауриацәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәыр шрылшо иҳәеит. Убри аҟынтә ауриацәа зегьы, еиҳараӡак аҭаацәара ахадацәа, ирыӡбар акәын: Вавилон иаанхару мамзаргьы Израильҟа ицару. Аӡбара адкылара мариаӡамызт. Избан?

2 Зықәрахь инеихьаз аӡәырҩы ауаа имариамыз уи амҩа анылара рцәыцәгьан. Иара убас ауриацәа реиҳараҩык Вавилон иит, ирызҳаит. Рыҩны уа акәын иахьыҟаз. Израиль акәзар, анкьа зны рабацәа ахьынхоз адгьыл еиԥш акәын ишырдыруаз. Уи адагьы ауриацәа шьоукы Вавилон иахьыҟаз ибеиахазар ҟалап. Убри аҟынтә иманшәалаз рыҩнқәеи, аизҳазыӷьара иаҿыз рбизнеси ааныжьны, ирзымдыруаз адгьыл ахь ицаны, ҿыц анхара рцәыцәгьазҭгьы ҟалон.

3. Иарбан ҳамҭоу ирзыԥшыз Израильҟа ихынҳәраны иҟаз, Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа?

3 Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа Израильҟа ахынҳәра иазхиан, избанзар дара еилыркаауан иаанрыжьыр акәыз аасҭа, ироуаз акырӡа ишеиҳаз. Зегьы иреиҳаз аҳамҭа Иегова имҵахырхәара иадҳәалан. Вавилон 50 ныҳәарҭа инареиҳаны ишыҟазгьы, уа Иегова иныҳәарҭа ыҟаӡамызт. Израильаа Моисеи изакәан ала инаргалар рыхәҭаз акәырбанқәа рнагаразы акәырбаннагарҭа рымаӡамызт. Аԥшьаҩцәа рмаҵзурагьы еиҿкааны иҟаӡамызт. Уи адагьы Иегова ижәлар амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа ирыланхон — урҭ ахацәеи аҳәсеи Иеговагьы хьаас дыркӡамызт, инормақәагьы хьаас ирымаӡамызт. Убри аҟынтә Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәны, ииашоу амҵахырхәара анеиҭашьақәдыргылоз аамҭа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын.

4. Изықәиргәыӷзеи Иегова Израильҟа ихынҳәраны иҟаз ауриацәа?

4 Вавилонынтәи Израильҟа игаз амҩа мариаӡамызт, насгьы ԥшьымзҟа уқәхон. Аха Иегова ижәлар ақәиргәыӷит амҩан акгьы шырԥырхагамхо. Аԥааимбар Исаиа иҳәеит: «Иегова изы амҩа шәрыцқьала! Ҳанцәа изы ацәҳәыра иалганы амҩа иаша шәырхиа. [...] Иқәҵааит аҟәаԥа-ҿаԥарақәа, ииашам адгьыл каршәрахааит» (Ис. 40:3, 4). Шәхаҿы иаажәг ацәҳәыраҿы, ашьхақәа ирыбжьганы игоу, иманшәалоу амҩа ҭбаа. Амҩа иқәлараны иҟоу дарбанзаалак уи амҩала ацара игәаԥхарын! Уи амҩала ацара мариоуп, уахьнеишагьы ирласны унанагоит, ашьхақәа урхысны, насгьы аҩхаақәа урҭысны уанцо аасҭа.

5. Ишԥахьӡыз асимволтә ҵакы змаз Вавилони Израильи ирыбжьаз амҩа?

5 Иахьа амҩақәеи амҩадуқәеи реиҳарак ахьӡқәа ма аномерқәа рымоуп. Асимволтә ҵакы змаз Исаиа зыӡбахә иҩуаз амҩагьы ахьӡ амоуп. Ҳара ҳаԥхьоит: «Уа идуу амҩа ҟалоит, ааи, Иԥшьоу ҳәа ззырҳәо амҩа. Уи амҩа ицқьам данылаӡом» (Ис. 35:8). Иаанагози ари ақәыргәыӷра израильаа рзы? Насгьы ҵакыс иамоузеи уи иахьа ҳара ҳзы?

«ИԤШЬОУ АМҨА»: АЖӘЫТӘАН, НАСГЬЫ ИАХЬА

6. Избан амҩа иԥшьоу ҳәа захьӡыз?

6 «Иԥшьоу амҩа» — шаҟа хьӡы ԥшӡоузеи амҩазы! Аха избан уи иԥшьоу ҳәа захьӡыз? Избанзар аԥааимбаражәаҿы иҳәан, Иерусалимҟа ихынҳәыз израильаа рыбжьара «ицқьам» ҳәа аӡәгьы дшыҟамло. Даҽакала иуҳәозар, ламысдарала зхы мҩаԥызгоз, амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз, мамзаргьы ибааԥсу даҽа гәнаҳақәак ҟазҵоз ауриакгьы рыбжьара дҟалаӡомызт. Израильаа Рынцәа изы «иԥшьоу жәларны» иҟалар акәын (Ҩынтә. 7:6). Ҳәара аҭахума, уи иаанагаӡомызт Вавилонынтәи ицаз рыԥсҭазаараҿы акгьы рыԥсахыр рыхәҭаӡамызт ҳәа.

7. Иарбан ԥсахрақәоу ауриацәа шьоукы иҟарҵар рыхәҭаз? Иаажәга аҿырԥштәқәа.

7 Ишаҳҳәахьоу еиԥш, ауриацәа реиҳараҩык Вавилон иит. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы вавилонаа ирымаз ҵасқәак рҿырҵаазар ҟалап. Ауриацәа раԥхьаӡа акәны Израильҟа ианыхынҳә ашьҭахь, ажәашықәсақәа анҵы, Ездра еиликааит урҭ рҟынтә шьоукы амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз аҳәса шыргаз (Ақәҵ. 34:15, 16; Езд. 9:1, 2). Ԥыҭрак ашьҭахь анапхгаҩы Неемиа ианеиликаа Израиль ииз ахәыҷқәа шьоукы ауриа бызшәала ишымцәажәоз, уи игәы ԥнажәеит (Ҩынтә. 6:6, 7; Неем. 13:23, 24). Ирылшозма урҭ аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи Иегова бзиа дбаны имаҵ рулар, Анцәа Иажәа злаҩыз абызшәа рзеилымкаауазҭгьы? (Езд. 10:3, 44). Ус анакәха, урҭ ауриацәа аԥсахра дуқәа ҟарҵар акәын. Аха ииашоу амҵахырхәара хәыҷы-хәыҷла аиҭашьақәыргылара иахьаҿыз Израиль, уи аҟаҵара еиҳа имариан (Неем. 8:8, 9).

1919 шықәса инаркны миллионҩыла ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи Вавилон ду ааныжьны, «Иԥшьоу амҩа» ианылеит. (Шәахәаԥш абзац 8.)

8. Избан ҳара ҳзы аҵак ду зрымоу ашәышықәсақәа раԥхьа иҟалаз ахҭысқәа? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

8 Шьоукы ргәы иаанагар ауеит: «Ҳәарада, уи даараӡа аинтерес аҵоуп. Аха ҵакыс иамоузеи сара сзы, ауриацәа ажәытәан изықәшәаз?» Уи аҵак ду амоуп, избанзар ҳаргьы «Иԥшьоу амҩа» ҳануп. Ҳара Иԥшьоу адоуҳала иалху ҳакәзаргьы, «егьырҭ ауасақәа» рахь ҳаҵанакуазаргьы, «Иԥшьоу амҩа» ҳанымҵӡакәа ҳцалароуп (Иоанн 10:16). Избанзар уи адоуҳатә џьанаҭ иагәылганы игоуп, насгьы Аҳра аҵаҟа иҟало аԥсҭазаара бзиа ахь ҳнанагоит b. 1919 шықәса раахыс миллионҩыла ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи, адунеи зегь аҿы иҟоу амцдинхаҵарақәа аазырԥшуа Вавилон ду ааныжьны, ари амҩа ианылеит. Шәаргьы урҭ шәреиуазар ҟалап. «Иԥшьоу амҩа» 100 шықәса раҟара раԥхьа ишаатызгьы, уи архиаразы аусурақәа ирылагеижьҭеи ашәышықәсақәа ҵуеит.

АҼАЗЫҞАҴАРАТӘ УСУРАҚӘА

9. Ианузеи Исаиа 57:14 аҿы «Иԥшьоу амҩа» архиара иазкны?

9 Иегова Вавилон иалҵыз ауриацәа амҩан акгьы рԥырхагамхартә иҟаиҵеит. (Шәаԥхьа Исаиа 57:14.) Аха иаҳҳәар ҳалшозеи иахьа ҳазныланы ҳцо «Иԥшьоу амҩа» азы? Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа 1919 шықәсанӡа Иегова иара ицәшәоз ахацәа шьоукы ихы иаирхәеит, Вавилон ду аҟынтә иаауаз амҩа арыцқьаразы. (Иаҿшәырԥш Исаиа 40:3.) Дара уи азы иаҭахыз аусурақәа зегь ҟарҵеит, ԥыҭрак ашьҭахь гәыкала иҟаз ауаа Вавилон ду иалҵны, ицқьоу амҵахырхәара ахьеиҭашьақәыргылаз адоуҳатә џьанаҭ ахь инеирц азы. Иаҵанакуази урҭ аусурақәа рахь? Шәааи уи ҳалацәажәап.

Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Анцәа ицәшәоз ахацәа шьоукы Вавилон ду аҟынтә иаауаз амҩа дрыцқьон. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)

10, 11. Ишԥарылаҵәеи ауаа Абиблиа иану аҵабырг акьыԥхьреи Абиблиа аиҭагареи рыбзоурала? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Акьыԥхьра. XV-тәи ашәышықәса агәҭанынӡа Абиблиақәа напыла иҭрыжьуан. Аха уи аамҭа рацәаны иагон, убри аҟынтә Абиблиақәа маҷын, насгьы урҭ даара рыхә цәгьан. Аха ԥыҭрак ашьҭахь акьыԥхьгатә машьына цәырҵит. Уи абзоурала Абиблиақәа ркьыԥхьреи ауаа рыларҵәареи еиҳа имариахеит.

11 Аиҭагара. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Абиблиа еиҳараӡак алаҭын бызшәала акәын ишыҟаз. Уи аҵара змаз ауаа мацара ракәын еилызкаауаз. Аха ашәҟәқәа ркьыԥхьра ианалага, Анцәа ицәшәоз ауаа Абиблиа аҵара змамыз ауаа еилыркаауаз абызшәақәа рахь еиҭарго иалагеит. Уажәшьҭа ауаа апапцәа иддырҵози Абиблиаҿы иануи еиҿдырԥшыр рылшон.

Анцәа ицәшәоз ахацәа шьоукы Вавилон ду аҟынтә иаауаз амҩа дрыцқьон. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12—14.) c

12, 13. Иаажәга аҿырԥштәқәа XIX-тәи ашәышықәсазы гәыкала Абиблиа ҭызҵаауаз ауаа амцрҵарақәа шҿаԥырҽуаз ҳзырбо.

12 Абиблиа аҵаразы амыругақәа. Абиблиа зыхшыҩ азышьҭны иҭызҵаауаз ауаа Анцәа Иажәа аҟынтә еилыркаауаз рацәан. Урҭ еилыркаауаз егьырҭ ауаа ирзеиҭарҳәон, апапцәа аӡәырҩы уи шыргәамԥхозгьы. Иаҳҳәап, XIX-тәи ашәышықәсазы гәыкала иҟаз хацәақәак аброшиурақәа рҭыжьра иалагеит. Урҭ аброшиурақәа ирныз ауахәамақәа ауаа иддырҵоз шымцыз аадырԥшуан.

13 1835 шықәса раҟара азы Генри Гру зыхьӡыз Анцәа ицәшәоз хаҵак аброшиура икьыԥхьит. Уа иара иԥсхьоу рҭагылазаашьа далацәажәон. Иара Иԥшьоу Аҩыра ихы иархәаны, ишьақәирӷәӷәеит ауахәамақәа жәпакы рҿы иддырҵоз шымцыз — ҳара имԥсуа аԥсы шаҳхам — аха ԥсра зқәым аԥсҭазаара ҳазҭар зылшо Анцәа шиакәу. 1837 шықәсазы апастор Џьорџь Сторрз уи аброшиура екземплиарк адәыӷбаҿы иԥшааит. Уи данаԥхьа ихадоу аҵабырг еиликааит, насгьы уи егьырҭ ауаа ирзеиҭеиҳәар иҭаххеит. 1842 шықәсазы иара алекциақәа иманы дықәгылеит. Урҭ темас ирыман: «Азҵаара: ирылшома ауаа цәгьақәа ахаан имԥсыр?». Џьорџь Сторрз иусумҭақәа Чарлз Расселл зыхьӡыз иқәыԥшыз ҷкәынак анырра бзиа ирҭеит.

14. Рхы ишԥадырхәеи Расселл иҩызцәеи иареи «Иԥшьоу амҩа» архиаразы дара раԥхьа иҟаҵаз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Рхы ишԥадырхәеи Расселл иҩызцәеи иареи «Иԥшьоу амҩа» архиаразы дара раԥхьа иҟаҵаз? Урҭ Иԥшьоу Аҩыра анҭырҵаауаз дара раԥхьа иҟаҵаз ажәарқәеи, асимфониақәеи, Абиблиа еиуеиԥшым аиҭагақәеи рхы иадырхәон. Иара убас урҭ даараӡа ирыхәеит Генри Гру, Џьорџь Сторрз, насгьы егьырҭ ауаа иҟарҵаз аҭҵаарақәа. Аиашьа Расселл иҩызцәеи иареи «Иԥшьоу амҩа» архиаразы ирацәаны аџьабаа рбеит. Дара Абиблиа иадҳәалаз атемақәа ахьаныз ирацәаны ашәҟәқәеи аброшиурақәеи ркьыԥхьуан.

15. Иарбан ихадоу хҭысқәоу 1919 шықәсазы иҟалаз?

15 1919 шықәсазы Анцәа ижәлар Вавилон ду аҟынтә ахақәиҭра роуит. Уи ашықәс азы «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» дцәырҵит — уи ианаамҭаз дцәырҵит, избанзар «Иԥшьоу амҩа» ианылаз гәыкала иҟаз ауаа ацхыраара рыҭатәын (Матф. 24:45—47). Уи амаҵуҩи, уи дцәырҵаанӡа «Иԥшьоу амҩа» архиаразы аџьабаа збози рыбзоурала, уи амҩа ианылоз ауаа Иегова игәҭакы еиҳа еиӷьны еилыркаауан (Ажәам. 4:18). Иара убас дара Анцәа игәы иақәшәаларц азы рҽырыԥсахлар рылшон. Иҭахызма Иегова имаҵзуҩцәа иаразнак рҽырыԥсахырц? Мап, иара хәыҷы-хәыҷла ижәлар ирыцқьон. (Шәахәаԥш арамка « Иегова хәыҷы-хәыҷла ижәлар ирыцқьоит».) Шаҟа насыԥ ҳауазеи зегь рыла Анцәа игәы ҳанақәшәало! (Кол. 1:10).

«ИԤШЬОУ АМҨА» МАКЬАНА ИААРТУП

16. Иарбан усурақәоу «Иԥшьоу амҩа» аҿы 1919 шықәса раахыс имҩаԥысуа? (Исаиа 48:17; 60:17).

16 Амҩақәа ԥхасҭамхаларц азы урҭ ирхылаԥшлатәуп. Убас еиԥш 1919 шықәса раахыс «Иԥшьоу амҩа» аҿы излагаз аусурақәа аанымгылаӡацт. Избан? Ауаа Вавилон ду алҵра алшара роурц азы. 1921 шықәсазы зыгәра угартә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш идҵа анагӡара даналага ашьҭахь хара имгакәа иара иҭижьит «Арфа Божия» захьӡыз ашәҟәы. Уи хықәкыс иаман Абиблиа ианыз аҵабырг ауаа реилыркаара. Уи ашәҟәы 36 бызшәа рыла иҟан, насгьы ф-миллионк егьагымкәа екземплиар рыла иҭыжьын. Ари ашәҟәы ирацәаҩны ауаа аҵабырг аилкаара ирыцхрааит. Ааигәа ҳара Абиблиа аҵаразы зеиԥшыҟам амыруга ҿыц ҳауит — «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!». «Иԥшьоу амҩа» ҳанымҵырц азы, ҳара зегьы аҵыхәтәантәи амшқәа раан Иегова иорганизациа абзоурала адоуҳатә фатә ҳауеит. (Шәаԥхьа Исаиа 48:17; 60:17.)

17, 18. Ҳабананаго «Иԥшьоу амҩа»?

17 Ауаҩы Абиблиа аҵара даналаго «Иԥшьоу амҩа» аныларазы алшара иоуеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Шьоукы аамҭак аҩныҵҟа уи амҩала ицоит, аха нас уи ианыҵуеит. Даҽа шьоукы уи амҩа аҵыхәанӡа ианысырц рыӡбоит. Аха уабананаго уи амҩа?

18 Ажәҩан аҿы анхаразы агәыӷра змоу «Иԥшьоу амҩа» ажәҩан аҿы иҟоу «Анцәа иџьанаҭ» ахь инанагоит (Аат. 2:7). Адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу уи амҩа Христос Зқьышықәсатәи инапхгара анҵәамҭазы анаӡарахь инанагоит. Шәара уи амҩа шәаныланы шәцозар, шьҭахьҟа шәхьамԥшлан. Уи адунеи ҿыц ахь шәнанагаанӡа шәанымҵын. Ҳара гәыкала амҩа бзиа шәзеиӷьаҳшьоит!

АШӘА 24 Иегова ишьхахь шәхала

a Иегова асимволтә ҵакы змоу Вавилонынтәи Израильҟа узгоз амҩа «Иԥшьоу амҩа» ҳәа ахьӡиҵеит. Иаҳҳәар ҳалшома Иегова имаҵзуҩцәа рзы иахьагьы амҩа ҟаиҵеит ҳәа? Ааи! 1919 шықәса раахыс миллионҩыла ауаа Вавилон ду ааныжьны «Иԥшьоу амҩа» ианылахьеит. Ҳара зегьы уи амҩа аҵыхәанӡа ҳнеиаанӡа ҳанымҵроуп.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа Расселл иҩызцәеи иареи Абиблиа аҭҵааразы дара раԥхьа иҟаҵаз амыругақәа рхы иадырхәон.