Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 24

Шәара иқәшәыргылаз адоуҳатә хықәкқәа рынагӡара шәылшоит

Шәара иқәшәыргылаз адоуҳатә хықәкқәа рынагӡара шәылшоит

«Убри аҟынтә, шәааи, ҳгәы камыжьӡакәа абзиара ҟаҳҵалап, избанзар ҳгәы каҳмыжьыр, аамҭа анааилак, аҽаҩра ҭаҳгалоит» (ГАЛ. 6:9).

АШӘА 84 Амаҵ ҳуеит ацхыраара ахьаҭаху

АХҲӘАА a

1. Иарбан уадаҩроу аӡәырҩы ҳзықәшәо?

 ИҞАЛАХЬОУМА доуҳатә хықәкык b анықәшәыргыла, аха уи анагӡара анышәцәыцәгьаха? Аӡәырҩы уи аҩыза иақәшәахьеит. Иаҳҳәап, Фи́лип Анцәа лассы-лассы диҳәаларц хықәкыс иман. Уи адагьы иара иҭахын Анцәа даниҳәоз иҳәарақәа еиҳа аҵакы рымазарц. Аха иара есымша уи азы аамҭа аԥшаара ицәыцәгьан. Е́рика ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа дрыгымхаларц хықәкыс иқәлыргылеит. Аха уеизгьы аиԥылара данагхоз еиҳа ирацәан данагымхоз аасҭа. То́маш Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа даԥхьар иҭахын, уи зныкымкәагьы далагахьан. Иара иҳәоит: «Сара уи аԥхьара сгәаԥхаӡомызт. Хынтә салагеит, аха Левит уаҳа сзахымсӡеит».

2. Избан ҳгәы каҳмыжьлар зҳахәҭоу доуҳатә хықәкык макьана анагӡара ҳалымшозар?

2 Хықәкык макьана ишәзынамыгӡацзар, уи иаанагаӡом ахаан уи шәзынагӡаӡом ҳәа. Имариоу ахықәкқәагьы лассы-лассы аамҭеи аџьабааи рҭахуп. Шәхықәкқәа рынагӡара шәахьашьҭоу маҵарагьы иаанарԥшуеит Иеговеи шәареи шәеиҩызара ахә ҳаракны ишышәшьо, насгьы зегь иреиӷьу иҭара шышәҭаху. Иегова шәҽазышәарақәа рыхә ҳаракны ишьоит. Иара шәара шәҟынтә ишәылымшо дазыԥшӡам (Аԥсал. 103:14; Мих. 6:8). Убри аҟынтә ишәылшо ахықәкқәа ықәшәыргылала. Уи аҩыза ахықәкы шәымазар, ишәыцхраар алшозеи уи анагӡара? Шәааи лабжьарақәак ҳрылацәажәап.

АХЫҚӘКЫ АНАГӠАРАЗЫ АГӘАҲӘАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА

Шәхықәкы анагӡаразы агәаҳәара шәоурц анцәа шәиҳәала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3, 4.)

3. Избан ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара еизҳарҳалар зҳахәҭоу?

3 Иқәҳаргылаз адоуҳатә хықәкы анагӡара ҳалшарц азы, агәаҳәара ӷәӷәа ҳамазароуп. Ауаҩы ихықәкы наигӡарц иҭахызар, уи азы илшо зегь ҟаиҵоит. Ус еиԥш иҟоу агәаҳәара аԥра змоу анышь зго аԥша иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Аԥша иааҟәымҵӡакәа иасуазар, анышь иақәтәоу дахьцо днанагоит. Аха аԥша ӷәӷәазар, еиҳагьы ирласны днанагоит. Агәаҳәара азгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Ҳхықәкы наҳагӡарц иӷәӷәаны ианаҳҭаху, уи аҟаҵара ҳалшоит. Сальвадор иатәу Давид иҳәоит: «Агәаҳәара анумоу ирацәаны аџьабаа убоит. Иуԥырхагахо ҳәа акгьы ыҟаӡам». Иҳацхраар алшозеи ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара аизырҳара?

4. Ҳзызиҳәалар ҳалшозеи Анцәа? (Филиппаа рахь 2:13). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Анцәа шәиҳәала шәхықәкы анагӡаразы еиҳаны агәаҳәара шәоурц. Иегова иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала шәхықәкы анагӡаразы агәаҳәара шәиҭар илшоит. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:13.) Зны-зынла ахықәкы зықәҳаргыло ус иахәҭоуп ибзиоуп ҳәа мацара азоуп. Ус ҟашәҵозар, арҽхәара шәаԥсоуп. Аха иҟашәҵар шәылшозеи уи анагӡаразы агәаҳәара шәзымхозар? Уганда иатәу Нори́нагьы убас лыхьит. Лара Абиблиа аҵара мҩаԥылгалар лҭахын, аха уи азы агәаҳәара лызхаӡомызт. Лара лгәы иаанагон арҵаҩратә ҟазара лызхаӡом ҳәа. Илыцхраазеи лара? Норина илҳәоит: «Сара Иегова схықәкы анагӡаразы еиҳаны агәаҳәара сиҭарц есыҽны иҳәара салагеит. Анцәаиҳәара адагьы, сырҵаҩратә ҟазара аиӷьтәра сҽазысшәон. Мызқәак рышьҭахь Абиблиа аҵара амҩаԥгара сҭаххаҵәҟьеит. Шықәсык мҵӡацызт еиԥш Абиблиа аҵарақәа ҩба соуит».

5. Ҳзызхәыцлар ҳалшозеи ҳдоуҳатә хықәкы анагӡара еиҳагьы иаҳҭаххарц азы?

5 Иегова ишәзыҟаиҵо шәазхәыцла (Аԥсал. 143:5). Апостол Павел дазхәыцуан Иегова иара иахь иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара. Уи Иегова изы гәыкала аџьабаа абара игәазҭанаҵон (1 Кор. 15:9, 10; 1 Тим. 1:12—14). Иегова ишәзыҟаиҵо лассы-лассы шәазхәыцлар, шәхықәкы анагӡара еиҳагьы ишәҭаххоит (Аԥсал. 116:12). Гондурас иатәу иаҳәшьак пионерс амаҵ лулар лҭахын. Абар лара илҳәо: «Сара Иегова шаҟа иӷәӷәаны бзиа сибо ирацәаны сазхәыцуан. Иара имаҵ зуа ауаа рыла ишьақәгылоу иҭаацәарахь сааиԥхьеит. Иара исҭаху сиҭоит, насгьы дысхылаԥшуеит. Уи сыцхрааит Иегова еиҳагьы иӷәӷәаны бзиа ибара, насгьы пионерс амаҵ аура еиҳагьы исҭаххеит».

6. Иҳацхраар алшозеи иҵегьы ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара аизырҳара?

6 Шәхықәкы нашәыгӡар уи ишәзаанаго ахәарҭа шәазхәыцла. Шәахәаԥш хыхь зыӡбахә ҳәаз Ерика илыцхрааз. Лара илҳәоит: «Сара еилыскааит ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа санрыгхо исцәыӡуа шырацәоу. Урҭ рахь заа снеиуазҭгьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәажәаразы алшара соулон. Уи адагьы уа ихәарҭоу алабжьарақәа саҳалон, урҭ еиҳа еиӷьны ажәабжь аҳәара исыцхраалон, амаҵзураҿгьы еиҳагьы агәырӷьара соулон». Ерика аиԥыларақәа дрыгымхалар илзаанаго ахәарҭа дахьазхәыцыз, лхықәкы анагӡара илыцхрааит. Иарбан хәарҭоу шәара шәхықәкы нашәыгӡар ишәоуа? Уи Абиблиа аԥхьара ма анцәаиҳәара иадҳәалазар, Иеговеи шәареи шәеиҩызара шаҟа иӷәӷәахо шәазхәыц (Аԥсал. 145:18, 19). Қьырсиантә ҟазшьак аизырҳара хықәкыс ишәымазар, егьырҭ ауааи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шеиӷьхо шәазхәыц (Кол. 3:14). Ишәылшома шәхықәкы нашәыгӡар, уи ишәзаанаго ахәарҭа џьара ианышәҵар? Анаҩс уа ианышәҵаз аамҭа-аамҭала шәахәаԥшла. Хыхь зажәақәа аагаз Томаш иҳәоит: «Схықәкы насыгӡар, уи шаҟа ахәарҭа сзаанаго сазхәыццыԥхьаӡа уи анагӡаразы еиҳагьы аџьабаа абара сҭаххоит».

7. Ирыцхраазеи Хулио иԥшәмеи иареи рхықәкы анагӡара?

7 Шәхықәкы анагӡара ишәыцхраауа аамҭа рыцышәхыжәгала (Ажәам. 13:20). Ху́лио иԥшәмеи иареи рмаҵзура дырҭбаар рҭахын. Абар уи ахықәкы анагӡара ирыцхрааз. Хулио иҳәоит: «Ҳара ҳхықәкы анагӡара ҳгәазҭазҵоз, насгьы уи атема ала ҳзацәажәар ҳалшоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас ишьҭаҳхит. Урҭ рҟынтә аӡәырҩы ҳара иҳамаз ахықәкқәа рҩызцәа ықәыргыланы инарыгӡахьан. Убри аҟынтә дара ихәарҭоу алабжьарақәа ҳарҭар рылшон. Дара ҳусқәа шцо иазҵаауан, насгьы ҳгәы шьҭырхуан».

АГӘАҲӘАРА АНҲАМАМ

Шәхықәкы анагӡара шәашьҭаз. (Шәахәаԥш абзац 8.)

8. Иҟалар алшозеи агәаҳәара анҳамоу мацара ада ҳхықәкы анагӡаразы аџьабаа ҳамбалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

8 Аиаша уҳәозар, ҳхықәкы азхәыцрагьы анаҳҭахым ыҟоуп. Иаанагома уи ҳхықәкы ахаангьы иаҳзынагӡаӡом ҳәа? Мап. Ҳхынҳәып ҳҿырԥштәахьы. Аԥша ӷәӷәаны иасуазар, аԥра зхагылоу анышь ирласны ԥхьаҟа ицоит. Аха зны-зынла аԥша ҭынч иасуеит, иҟоуп амшын зынӡа ианҭынчугьы. Иаанагома уи анышь иақәтәоу ԥхьаҟа дзымцаӡакәа дахьху џьарак даанхоит ҳәа? Ус иҟамларгьы алшоит. Иаҳҳәап, нышьқәак рҿы амотор ақәгылоуп, насгьы ажәҩақәа амоуп. Урҭ ицырхырааны анышь иақәтәоу ауаҩы даанымгылаӡакәа дцалар илшоит. Ҳхықәкы анагӡаразы иҳамоу агәаҳәара аԥша иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Зны-зынла агәаҳәара ӷәӷәа ҳамоуп, зны-зынла уи ԥсыҽхоит, зны-зынла ҳхықәкы аӡбахә аҳәарагьы ҳҭахӡам. Убри аҟынтә ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара анҳамоу мацара ада аџьабаа ҳамбалар, уи ахаан иаҳзынагӡаӡом. Аха анышь иақәтәоу ауаҩы иеиԥш, ҳаргьы, агәаҳәара анҳамамгьы, ҳаанымгылаӡакәа ԥхьаҟа ҳцалар ҳалшоит. Уи мариаӡам, аха иаанаго алҵшәа аџьабаа абара иаԥсоуп. Уи азы иҟаҵалатәу ҳалацәажәаанӡа, шәааи зҵаарак аҭак ҟаҳҵап.

9. Ҳхы аџьабаа аҳарбалар ҳахәҭоума адоуҳатә хықәкқәа рынагӡаразы агәаҳәара анҳамам? Иҳаилшәыркаа.

9 Иегова иҭахуп агәырӷьара ҳаманы гәыкала имаҵ ҳаулар (Аԥсал. 100:2; 2 Кор. 9:7). Иаанагома уи иқәҳаргылаз адоуҳатә хықәкы анагӡаразы агәаҳәара ҳамамзар, ҳхы аџьабаа аҳмырбалароуп ҳәа? Ҳахәаԥшып апостол Павел иҿырԥшы. Иара иҳәеит: «Сцәеижь сыбжьоит» (1 Кор. 9:25—27). Павел Иегова ииҭахыз аҟаҵаразы агәаҳәара анимамызгьы, уи мчыла иҟаиҵон. Игәы иахәозма Иегова Павел имаҵзура? Ҳәарада! Анцәа Павел иџьабаа азы дизылԥхеит (2 Тим. 4:7, 8).

10. Избан ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара ҳамамзаргьы, ҳхы аус адаҳулалар зҳахәҭоу?

10 Павел иҿырԥшы иаҳнарбоит ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара анҳамамгьы, ҳхы аџьабаа анадаҳбало, уи Иегова дшаргәырӷьо. Иара игәаԥхоит иҟаҳҵо зыҟаҳҵо иара бзиа дахьаҳбо азы шакәу анибо, иҟаҳҵо бзиа иҳамбозаргьы. Иегова апостол Павел дшизылԥхоз еиԥш, ҳаргьы ҳџьабаа дазылԥхоит (Аԥсал. 126:5). Уи анаҳбалак, иара игәаԥхо аҟаҵара еиҳагьы иаҳҭаххоит. Польша иатәу Лиуци́на илҳәоит: «Зны-зынла ажәабжьҳәара ацара сҭахӡам, еиҳараӡак сааԥсаны саныҟоу. Аха санцалак агәырӷьара ду сыманы схынҳәуеит!» Шьҭа шәааи ҳалацәажәап ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара ҳзымхозар иҟаҳҵалар ҳалшо.

11. Дҳацхраар шԥаилшо Иегова аҽынкылара аизырҳара?

11 Анцәа аҽынкылара аизырҳара дшәыцхраарц азы шәиҳәала. Аҽынкылара — уи ҳхәыцрақәеи ҳхымҩаԥгашьеи аконтроль рзура ауп. Ари ажәа лассы-лассы рхы иадырхәоит ауаҩы ацәгьара ҟаимҵарц азы иҽанникыло. Аха аҽынкылара абзиара ҟаҳҵаларц азгьы иаҳҭахуп, еиҳараӡак уи анымариам, мамзаргьы уи аҟаҵара анаҳҭахым. Ишәхашәмыршҭлан, аҽынкылара — иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ишыруаку. Убри аҟынтә Иегова иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц азы шәиҳәала, уи ихадоу ари аҟазшьа аизырҳара ишәыцхраауеит (Лука 11:13; Гал. 5:22, 23). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Давид анцәаиҳәара шицхрааз еиҭеиҳәеит. Иара иҭахын ихатә ҭҵаара зны-зынла акәым, ибжьамыжьӡакәа имҩаԥигалар. Иҟаиҵози иара уи азы? «Сара Иегова аҽынкылара аизырҳара дсыцхраарц азы сиҳәон. Иара дагьсыцхрааит. Уажәы сара агәырӷьара сзаазго схатә ҭҵаара бжьамыжьӡакәа имҩаԥызгоит».

12. Ишԥаҳацхраауеи Екклезиаст 11:4 иану апринцип адоуҳатә хықәкқәа рынагӡара?

12 Зегь иреиӷьу аҭагылазаашьа шәазымԥшлан. Ари адунеи аҿы уи ҟалашьа амаӡам. Ҳара аҭагылазаашьа анеиӷьхо ҳәа ҳаԥшлар, ҳхықәкы ахаан иаҳзынагӡаӡом. (Шәаԥхьа Екклезиаст 11:4.) Де́ниел иҳәоит: «Аҭагылазаашьа анеиӷьхо ҳәа ҳтәаны ҳамԥшӡакәа уи ҳхаҭа еиӷьаҳтәыр ҳалшоит. Уи азы ҳхықәкы анагӡаразы ак аҟаҵара ҳалагароуп». Уганда иатәу Пол ҳусқәа ахаҳамгалар зыбзиоу даҽа мзызкгьы ааигоит: «Ауадаҩрақәа ҳармыхәаԥшӡакәа аус ҳнапы анаҳаркуа, Иегова дыззылԥхаша иаҳҭоит» (Мал. 3:10).

13. Избан ихәыҷу ахықәкқәа рыла ҳалагар зыбзиоу?

13 Амаҷ ала шәалага. Ҳара ҳхықәкы анагӡара уадаҩушәа ҳбозар, уи анагӡаразы агәаҳәара ҳзымхар ауеит. Шәара уи аҩыза аҭагылазаашьа шәымазар, ишәылшома шәхықәкы имаҷу ахықәкқәа рыла еихышәшар? Шәара ҟазшьак аизырҳара хықәкыс ишәымазар, ишәылшома раԥхьа имаҷу ак аҿы уи аашәырԥшлар? Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥхьара хықәкыс ишәымазар, ишәылшома раԥхьа хәыҷык-хәыҷык шәаԥхьалар? Астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз Томаш Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа шықәсык ала аԥхьара изалҵуамызт. Иара иҳәоит: «Сара еилыскааит Абиблиа аԥхьаразы иалысхыз аграфик шыснымаалаз. Убри аҟынтә сара даҽа зныкгьы салагеит, аха уажәшьҭа есыҽны бзацк-ҩбзацк ракәын сзыԥхьоз, насгьы сзызхәыцуаз. Убасҟан Абиблиа аԥхьара сгәаԥхо салагеит». Хәыҷы-хәыҷла Томаш Абиблиа аԥхьара еиҳа еиҳаны аамҭа азалихуа далагеит. Убас иара Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥхьара илшеит c.

АК ШӘЗАЛЫМҴУАЗАРГЬЫ ШӘГӘЫ КАШӘМЫЖЬЛАН

14. Иарбан уадаҩрақәоу ҳхықәкы анагӡара иаҳԥырхагахар алшо?

14 Ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара анҳамоугьы, уи анҳамам ҳхы аус адаҳулозаргьы, зны-зынла ҳманшәаламхар ауеит. Иаҳҳәап, ҳҭагылазаашьақәа рҽахьырыԥсахыз иахҟьаны ҳхықәкы анагӡаразы аамҭа ҳмоур ауеит (Еккл. 9:11, албаага). Иара убас ҳгәы казыжьуа, насгьы ҳамч ҳалызхуа ауадаҩра ҳақәшәар алшоит (Ажәам. 24:10). Уи адагьы ҳанамӡара иахҟьаны ҳхықәкы анагӡара иаҳԥырхагахар алшо агхақәа ҟаҳҵар ауеит (Рим. 7:23). Мамзаргьы ҳааԥсазар алшоит (Матф. 26:43). Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳхықәкы анагӡараҿы ҳманшәаламхазар?

15. Избан ҳхықәкы анагӡараҿы ҳманшәаламхазаргьы, ҳгәы каҳмыжьлар зхадоу? Иҳаилшәыркаа (Аԥсалом 145:14).

15 Ишәхашәмыршҭлан, шәманшәаламхазар, уи иаанагаӡом акгьы шәзалҵӡом ҳәа. Абиблиаҿы иануп ҳхықәкқәа рынагӡараҿы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәало. Аха иара убас уа иануп Иегова ицхыраарала урҭ ауадаҩрақәа рыхгара шҳалшо. (Шәаԥхьа Аԥсалом 145:14.) Абар зыӡбахә ҳҳәахьоу Филип иқәҿиарақәа дышрыхцәажәо: «Сара шаҟантә скаҳаз ақәҿиара сымоу-исымаму аанарԥшуеит ҳәа сгәы иаанагаӡом. Сара шаҟантә сгыланы сымҩа иацысҵаз ауп сзызхәыцуа». Хыхь зыӡбахә ҳәаз Давидгьы иҳәоит: «Схықәкы анагӡараҿы саныманшәаламхо, уи исԥырхагоу ак еиԥш акәымкәа, Иегова бзиа дшызбо ирбаразы лшараны исыԥхьаӡоит». Шәаныманшәаламхогьы ԥхьаҟа шәцозар, Иегова иргәырӷьара шышәҭаху аашәырԥшуеит. Шаҟа деигәырӷьозеи Иегова шәхықәкы анагӡара шәшашьҭоу анибо!

16. Иаҳҵар ҳалшозеи ҳхықәкы анагӡараҿы ҳманшәаламхазар?

16 Шәхықәкы анагӡараҿы шәманшәаламхазар, уи ак шәзырҵар алшо ак еиԥш шәахәаԥшла. Уи зыхҟьар алшоз шәазхәыцны шәхы шәазҵаа: «Исылшома уи аҩыза ауадаҩра аԥхьаҟа сақәымшәарц азы ак сыԥсахыр?» (Ажәам. 27:12). Зны-зынла ҳаныманшәаламхо, уи ҳамч зқәымхоз ахықәкы шықәҳаргылаз ҳаилнаркаауеит. Убри ауп шәаргьы ишәыхьыз ҳәа шәгәы иаанагозар, даҽазнык шәхықәкы шәазхәыц. Уи шәыцхраауеит шәхықәкы шәымч зықәхо ак акәу-акәму аилкаара d. Шәара шәымч зқәымхоз ахықәкы анагӡара шәылымшазар, Иегова акгьы шәаԥсаӡам ҳәа иԥхьаӡалаӡом (2 Кор. 8:12).

17. Избан ҳаихьӡарақәа ҳхаҳмыршҭлар зҳахәҭоу?

17 Шәеихьӡарақәа шәхашәмыршҭлан. Абиблиаҿы иануп: «Анцәа диашоуп, убри аҟынтә... ижәбо [аџьабаа]... ихашҭӡом» (Аур. 6:10). Ус анакәха шәаргьы ақьырсиантә мҩа шәанылеижьҭеи иҟашәҵахьоу аихьӡарақәа шәхашәмыршҭлароуп. Иаҳҳәап, шәара Иегова шәиҩызахеит, иӡбахә егьырҭ ауаа рзеиҭаҳәара шәалагеит, мамзаргьы аӡы шәыҽӡаашәхит. Арҭ ахықәкқәа ықәыргыланы ишынашәыгӡаз еиԥш, анаҩсгьы убас ҟашәҵала (Флп. 3:16).

Амҩа шәанықәугьы шәгәырӷьала. (Шәахәаԥш абзац 18.)

18. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳхықәкы анагӡаразы аџьабаа ҳбонаҵы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

18 Иегова ицхыраарала шәдоуҳатә хықәкқәа рынагӡара шәылшоит, амшын иху ауаҩы дахьцо аҭыԥ ахь қәҿиарала дышнеиуа еиԥш. Аха ишәхашәмыршҭлан, шәхықәкы анагӡарахь шәназго амҩагьы аинтерес шаҵоу. Убри аҟынтә иқәшәыргылаз адоуҳатә хықәкы анагӡаразы аџьабаа жәбонаҵы Иегова дышшәыцхраауа, насгьы дшышәзылԥхо гәашәҭала. Уи агәырӷьара шәзаанагалоит (2 Кор. 4:7). Шәгәы кашәмыжьыр, Иегова меигӡарахда дышәзылԥхоит (Гал. 6:9).

АШӘА 126 Ӷьеҩла шәыҟаз, акрычҳара шәымаз

a Ҳара адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара лассы-лассы ҳгәазҭарҵоит. Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи иаԥсоу ахықәкы ықәҳаргылазар, аха уи анагӡара ҳцәыцәгьазар? Ари астатиаҿы ҳхықәкқәа рынагӡара иҳацхраауа лабжьарақәак ҳрылацәажәоит.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Адоуҳатә хықәкқәа рахь иаҵанакуазар алшоит Иегова имаҵ ауреи иргәырӷьареи рзы шәҽеиӷьашәтәыр ахьышәҭаху, ма инашәыгӡарц ишәҭаху ахықәкқәа зегьы. Иаҳҳәап, шәара хықәкыс иқәшәыргылеит қьырсиантә ҟазшьак аизырҳара, мамзаргьы Иегова имаҵзура иадҳәалоу ганк аус адулара. Уахь иаҵанаклар алшоит Абиблиа аԥхьара, ахатә ҭҵаара, ажәабжьҳәара.

d Еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит 2008 шықәса, ииуль 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҟны иаагоу астатиа «Ставь разумные цели и сохраняй радость» аҿы.