АҴАРАЗЫ АСТАТИА 20
Ҳаҳәарақәа еиӷьаҳтәуеит
«Шәгәы иҭоу зегь аартны иашәҳәала» (АԤСАЛ. 62:8).
АШӘА 45 Сыгәҭахәыцрақәа
АХҲӘАА a
1. Ргәы зызҭеиҵозеи Иегова имаҵзуҩцәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
ҲЗЫҲӘАР ҳалшода ацхырааразы агәышьҭыхреи алабжьареи анаҳҭаху? Ҳара ари азҵаара аҭак ҳдыруеит — Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит. Иара ихаҭа ус ҟаҳҵаларц ҳааиԥхьоит. Иара иҭахуп имаҵзуҩцәа лассы-лассы иҳәаларц. Уи адагьы Абиблиаҿы иануп: «Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала» (1 Фес. 5:17). Ҳара иҳалшоит аԥсҭазааратә ганқәа зегьы рҿы Анцәа анапхгара ҳаиҭаларц азы ҳамшәаӡакәа ҳиҳәалар (Ажәам. 3:5, 6). Иегова згәы ҭбаау Нцәоуп. Убри аҟынтә шаҟантә ҳиҳәозаалакгьы иара ҳзыӡырҩра дазхиоуп.
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ҳара Анцәа иҳәара алшара ахьҳамоу ахә ҳаракны иаҳшьоит. Аха аӡәырҩы даараӡа ҳаилахоуп. Убри аҟынтә уи азы аамҭа аԥшаара анаҳцәыцәгьоу ыҟоуп. Уи адагьы, ҳаҳәарақәа еиӷьаҳтәыр шҳахәҭоу ҳбозар ауеит. Ишԥабзиоу уи аҿы иҳацхраауа алабжьарақәа Абиблиа иахьану. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иисус иҿырԥшы анцәаиҳәаразы аамҭа алхра ишҳацхраауа. Иара убас ҳара ҳалацәажәоит ҳаҳәарақәа еиӷьаҳтәырц азы Анцәа ҳзызиҳәалар ҳалшо хә-темак.
ИИСУС АНЦӘАИҲӘАРАЗЫ ААМҬА АЛИХУАН
3. Иидыруази Иисус анцәаиҳәара иазкны?
3 Иисус идыруан Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рыхә ҳаракны ишишьо. Адгьыл ахь даанӡа акыр шыбжьаз иара ибон Иаб ауаа рыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз. Иаҳҳәап, Иисус Иегова иааигәара дыҟан, уи Аннеи, Давиди, Ильиеи, гәыкала изыҟаз егьырҭ имаҵзуҩцәеи рыҳәарақәа рҭак аныҟаиҵоз (1 Сам. 1:10, 11, 20; 1 Аҳ. 19:4—6; Аԥсал. 32:5). Убри аҟынтә Иисус иҵаҩцәа идирҵон лассы-лассы Анцәа иҳәаларц, насгьы Иегова рыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо агәра ргаларц (Матф. 7:7—11).
4. Иаҳнарҵозеи Иисус иҿырԥшы анцәаиҳәара ҳазыҟазар шҳахәҭоу иазкны?
4 Иисус Анцәа ишиҳәалатәу аҿырԥшы иҵаҩцәа ирзынижьит. Иара адгьыл аҿы амаҵ аниуаз лассы-лассы Иегова диҳәон. Уи азы аамҭа алихлар акәын. Избанзар иааигәара есымша ауаа рацәан, ихазы минуҭк анимамызгьы ыҟан (Марк 6:31, 45, 46). Иисус ҭынч Анцәа диҳәарц азы шьыжьымҭан шаанӡа дгылон (Марк 1:35). Ҳара иаҳдыруеит зны иара ихадоу аӡбара идикыларц азы аухантәарак Анцәа дышиҳәоз (Лука 6:12, 13). Иԥсра уахык шагызгьы иара зныкымкәа Анцәа диҳәон, избанзар адгьыл аҿы дыҟанаҵы ихигахьаз аԥышәарақәа рҟынтә зегь раасҭа иуадаҩыз аԥышәара ихигар акәын (Матф. 26:39, 42, 44).
5. Ишԥаҳалшо Иисус ҳаиҿыԥшлар?
5 Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵоит егьа аус ҳамазаргьы, Анцәа иҳәаразы аамҭа алаҳхлар шҳахәҭоу. Иҟалап уи азы ҳаграфик аҿы аамҭа алхтәхар. Иаҳҳәап, еиҳа заа ҳгылалар ҳалшоит, мамзаргьы абжьааԥны еиԥш акәымкәа, ҳацәара аамҭа маҷк инаскьаҳгар ҳалшоит. Убас Иегова иҳарбоит иҷыдоу уи аҳамҭа ахә ҳаракны ишаҳшьо. Линн зыхьӡу аиаҳәшьа анцәаиҳәара алшара шаҟа ахә ҳараку анеилылкаа, уи лгәаҵанӡа инеит. Лара илҳәоит: «Иегова ианысҭаху сиҳәалар шсылшо анеилыскаа, уи сҩыза бзиа шиакәу снарбеит, насгьы сыҳәарақәа реиӷьтәра сгәазҭанаҵеит». Аӡәырҩы убас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа ҳазцәырҵуеит. Убри аҟынтә, шәааи Анцәа ҳзызиҳәалар хадоу хә-темак ҳрылацәажәап.
АНЦӘА ҲЗЫЗИҲӘАЛАР ХАДОУ ХӘ-ТЕМАК
6. Дзыԥсоузеи Иегова Аатра 4:10, 11 иану инақәыршәаны?
6 Иегова дшәырҽхәала. Апостол Иоанн узыршанхоз абараҿы ибеит ажәҩан аҿы 24-ҩык аиҳабацәа Иегова дышдырҽхәоз. Дара ирҳәон иара «хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри [д]рыԥсоуп» ҳәа. (Шәаԥхьа Аатра 4:10, 11.) Гәыкала Анцәа изыҟоу амаалықьцәагьы Иегова ирҽхәаразы амзызқәа рацәаны ирымоуп. Дара Иегова ажәҩан аҿы ицынхоит, убри аҟынтә ибзианы дырдыруеит. Урҭ Иегова иҟаиҵо рбоит. Уи ирҽхәара ргәазҭанаҵоит (Иов 38:4—7).
7. Изакәазы дҳарҽхәалар ҳалшозеи Иегова?
7 Иара убас ҳаҳәарақәа рҿы Иегова дҳарҽхәалар хадоуп. Иаҳҳәап, изакәазы бзиа даҳбо, насгьы иара иҿы иаҳгәаԥхо иаҳҳәалар ауеит. Абиблиа шәанаԥхьо, насгьы уи анҭышәҵаауа, зегь раасҭа ишәгәаԥхо Иегова иҟазшьақәа алышәкаала (Иов 37:23; Рим. 11:33). Уи ашьҭахь шәцәаныррақәа Иегова изеиҭашәҳәала. Иара убас ҳара Иегова дҳарҽхәалар ҳалшоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи дахьҳацхраауа азы. Иара есымша дҳаиҷаҳауеит, насгьы даҳхылаԥшуеит (1 Сам. 1:27; 2:1, 2).
8. Ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәалар ҳалшозеи Иегова? (1 Фессалоникаа рахь 5:18).
8 Иегова ҭабуп ҳәа иашәҳәала. Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәалаша амзызқәа рацәаны иҳамоуп. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:18.) Шәааи иҳамоу зегьы рзы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалап, избанзар урҭ зегьы иара иҟынтә ауп (Иак. 1:17). Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит ҳахьынхо адгьыл аԥшӡареи, егьырҭ иџьашьахәу ашамҭақәеи рзы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар. Иара убас аԥсҭазаара ахьҳаиҭаз азы, ҳҭаацәаразы, ҳҩызцәа рзы, насгьы иҳамоу агәыӷразы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар ауеит. Уи адагьы, иара иҩызахара алшара ахьҳамоу азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар хадоуп.
9. Избан Иегова иаҳзыҟаиҵо ахә ҳшьаларц азы аџьабаа батәхар залшо?
9 Иегова хаҭала ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәар ҳҭаху ҳазхәыцлар хадоуп. Иҟалап уи азы аџьабаа батәхар, избанзар ари адунеи аҿы лассы-лассы ауаа ирҭаху мацароуп изышьҭоу. Аӡәырҩы рхахьгьы иааиӡом ирымоу азы ҭабуп ҳәалатәуп ҳәа. Ҳара уи аҩыза ахәыцшьа рҿаҳҵаар, ҳаҳәарақәа Анцәа иҳаиҭарц иаҳҭаху мацара ирызкызаауеит. Ус ҳмыхьырц азы Иегова иаҳзыҟаиҵо зегь ахә ҳаракны иаҳшьалароуп, насгьы уи азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп (Лука 6:45).
10. Ишԥалыцхрааи иаҳәшьак аџьшьара ахьаалырԥшуаз лгәы акамыжьра? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
10 Аџьшьара аазырԥшуа ауаа ауадаҩрақәа рыхгара еиҳа ирзымариоуп. Абар Киунг-Сук b зыхьӡу аиаҳәшьа дзықәшәаз ахҭыс. Лара лрыԥҳақәа рҿы еиҳа-еиҳа зыҽзырцәгьоз акьыба чымазара шамаз гәарҭеит. Лара илҳәоит: «Ачымазара сшьара сықәнаҟьеит. Сара исымаз зегь сцәыӡызшәа збон... насгьы даараӡа сшәон». Илыцхраазеи Киунг-Сук зегьы ахгара? Есыхәылбыҽха дышьҭалаанӡа лара лыҩны ахыбахь дхаланы, лыбжьы ҭыганы, Анцәа уи аҽны дахьылзылԥхаз хә-ҭагылазаашьак рзы ҭабуп ҳәа иалҳәон. Уи агәҭынчра лнаҭон, насгьы Иегова шаҟа бзиа дылбо иаҳәара лгәазҭанаҵон. Ҳаҳәшьа лхатә ԥышәала еилылкааит, Иегова гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа аԥышәарақәа рыхгара дышрыцхраауа. Лара еилылкааит, ҳаԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа раасҭа Анцәа дахьаҳзылԥхо аҭагылазаашьақәа акырӡа ишырацәоу. Ҳаҳәшьа Киунг-Сук леиԥш ҳаргьы Анцәа ҭабуп ҳәа зызиаҳҳәаша амзызқәа рацәаны иҳамоуп, ҳԥышәарақәа ҵыхәаԥҵәара рымамзаргьы. Ҳара ҳаҳәарақәа рҿы Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәозар, уи зегьы ахгара иҳацхраауеит, агәҭынчрагьы ҳамазаауеит.
11. Избан Иисус ажәҩан ахь данца ашьҭахь иҵаҩцәа агәымшәара зырҭаххаз?
11 Иегова ажәабжьҳәараҿы агәымшәара шәиҭарц шәиҳәала. Иисус ажәҩан ахь дцаанӡа маҷк шагыз иҵаҩцәа иргәалаиршәеит дара «Иерусалими, Иудеиеи, Самариеи инадыркны адгьыл аҵыхәанӡа» иӡбахә ауаа ирзеиҭарҳәалар шрыхәҭаз (Аус. 1:8; Лука 24:46—48). Уи ашьҭахь хара имгакәа иудеиатәи адиннапхгаҩцәа апостолцәа Пиотри Иоанни кны Асинедрион ахь иргеит. Дара ирҭахын гәыкала Анцәа имаҵ зуаз урҭ ахацәа ажәабжьҳәара иаҟәыҵырц, урҭ иагьрықәмақарит (Аус. 4:18, 21). Иахырҳәаазеи уи Пиотри Иоанни?
12. Иҟарҵазеи аҵаҩцәа Аусқәа 4:29, 31 иану инақәыршәаны?
12 Пиотри Иоанни ирықәмақаруаз абас рарҳәеит: «Шәазхәыци, ииашахома Анцәа иҿаԥхьа иара иакәымкәа, шәара ҳашәзыӡырҩыр? Ҳара иаҳбаз-иҳаҳаз ҳамҳәар ауам» (Аус. 4:19, 20). Пиотри Иоанни аноурышьҭ, Иегова иҳәара иалагеит, игәаԥхара анагӡара дрыцхраарц азы. Дара абас Анцәа иҳәон: «Ҳуҳәоит, уҳацхраа, ҳара, умаҵуцәа, ҳамшәа-ҳмырҳа уажәа ауаа ирылаҳҳәаларц». Иегова урҭ гәыкала изызиҳәоз риҭеит. (Шәаԥхьа Аусқәа 4:29, 31.)
13. Иаҳнарҵозеи Џьин Хиок иҿырԥшы?
13 Ҳара Иисус иҵаҩцәа ҳарҿыԥшлар ҳалшоит ажәабжь аҳәара ҳаҟәымҵуазар, аҳәынҭқарцәа уи азы азин ҳарымҭозаргьы. Абар Џьин Хиок зыхьӡу аиашьа иҿырԥшы. Иара анеитралитет ахьихьчоз азы абахҭа дҭаркит. Уаҟа иара аӡәаӡәала иҭакыз рхәы рзишаларц идырҵеит. Аха идыз аус иадҳәаламыз атемақәа рылацәажәара азин имаӡамызт, Абиблиа аӡбахә аҳәарагьы уахь иналаҵаны. Џьин Хиок Иегова диҳәон алшара шааиоулак еиԥш агәымшәареи аҟәышреи аарԥшны, аҵабырг аӡбахә иҳәаларц азы (Аус. 5:29). Иара еиҭеиҳәоит: «Иегова сыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит, насгьы агәымшәареи аҟәышреи сиҭеит. Сара акамера ашәқәа рҿы хә-минуҭк ицоз Абиблиа аҵарақәа рацәаны имҩаԥызгон. Хәылбыҽхала иҭакыз адырҩаҽны ирысҭашаз асаламшәҟәқәа зыҩуан». Џьин Хиок ҳаиҿыԥшны ҳаргьы Иегова агәымшәареи аҟәыӷареи ҳаиҭарц азы ҳиҳәалар ҳалшоит, насгьы иҳадиҵаз ажәабжьҳәаратә ус анагӡара дышҳацхраауа агәра ҳгалар ауеит.
14. Иҳацхраауазеи ауадаҩрақәа рыхгара? (Аԥсалом 37:3, 5).
14 Иегова ауадаҩрақәа рыхгара дшәыцхраарц шәиҳәала. Ҳара ҳҟынтә аӡәырҩы аемоциа иадҳәалоу, ма даҽа чымазарак ҳаргәамҵуеит. Аӡәы изааигәоу ауаҩы иԥсра игәырҩоит. Даҽа шьоукы рҭаацәарақәа рҿы ауадаҩрақәа рымоуп. Иҟоуп ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәо, насгьы даҽа уадаҩрақәак змоу. Аԥсабаратә рыцҳарақәа, апандемиа, насгьы аибашьрақәа ирыхҟьаны урҭ ауадаҩрақәа рыхгара еиҳагьы ицәгьоуп. Шәгәы иҭоу Иегова изеиҭашәҳәала. Шәзықәшәаз ауадаҩра ҩыза гәакьак ишизеиҭашәҳәарыз еиԥш иашәҳәала. Агәра ганы шәыҟаз: Иегова дышәмыцхраар иуӡом! (Шәаԥхьа Аԥсалом 37:3, 5.)
15. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара, ауадаҩрақәа раан ҳгәы акамыжьра? Иаажәга аҿырԥштәы.
15 Ҳара ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәозар, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳгәы камыжьӡакәа иаҳхаҳгалоит (Рим. 12:12). Иегова имаҵзуҩцәа ирхырго идыруеит. Абиблиаҿы иануп иара «ацхырааразы рыҵәаабжь иаҳауеит» ҳәа (Аԥсал. 145:18, 19). 29 шықәса зхыҵуа пионерс амаҵ зуа Кристи уи ус шакәу агәра лгеит. Иаалырҟьаны лара лгәабзиара иадҳәалаз ауадаҩрақәа лызцәырҵит. Уи иахҟьаны адепрессиа ӷәӷәа лоуит. Ԥыҭрак ашьҭахь лан хәышәтәышьа змамыз ачымазара лыхьит. Кристи илҳәоит: «Сара есышьыжь сӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова сиҳәон, уи амш ахгаразы амч сиҭарц. Сара адоуҳатә усқәа сыҽрыласырхәларц азы исылшоз зегь ҟасҵон. Аизарақәа сырҭаауан, насгьы схатә ҭҵаара мҩаԥызгон». Анаҩс лара илҳәоит: «Анцәаиҳәара даараӡа иуадаҩыз аамҭақәа раангьы сгәы акамыжьра исыцхраауан. Сара издыруан Иегова еснагь сааигәара дшыҟаз. Уи даара, даараӡа сгәы шьҭнахуан. Сгәабзиара иадҳәалаз ауадаҩрақәа иаразнак ишыӡбамхазгьы, Иегова сыҳәарақәа рҭак ҟаиҵон. Иара агәҭынчра сиҭон». Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап: «Иегова идыруеит гәык-ԥсыкала имаҵ зуа ауаа аԥышәарақәа раан ишеиқәирхаша» (2 Пиотр 2:9).
16. Избан ҳхызхуа акы ҳаҿагыларц азы Иегова ицхыраара заҳҭаху?
16 Иегова шәхызхыр алшо аҿагылара дшәыцхрааларц шәиҳәала. Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы аџьабаа ҳбалароуп. Аҩсҭаа ҳамҩақәиҟьарц азы иҟаимҵо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Иаҳҳәап, иара ҳхәыцшьа ԥхасҭеитәырц азы иҟьашьу агәырҿыхагақәа ихы иаирхәоит. Ус еиԥш иҟоу агәырҿыхагақәа иҟьашьу ахәыцрақәа ҳазцәырыргар алшоит. Урҭ ахәыцрақәа ҳгәаҭа бжьырхуеит, насгьы агәнаҳа ӷәӷәа ҳдырҟаҵар ауеит (Марк 7:21—23; Иак. 1:14, 15).
17. Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳалшо «Ҳхызхуа ҳҽаҳамҭарц уҳацхраа» ҳәа иану а́ҳәара инақәыршәаны? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Ҳхызхыр алшо акы ҳаҿагылар ҳҭахызар, Иегова ицхыраара ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Иисус иҵаҩцәа Анцәа ишиҳәалатәу аныдирҵоз, иҳәеит: «Ҳхызхуа ҳҽаҳамҭарц уҳацхраа, Аҩсҭаагьы ҳаицәыхьча» (Матф. 6:13). Иегова ҳацхраара дазхиоуп, аха уи азы иара ҳиҳәалароуп. Уи адагьы ҳаҳәарақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп ари адунеи иатәу ауаа рхәыцшьа рҿаҳамҵаарц (Аԥсал. 97:10). Иаҵанакуазеи уахь? Ҳара Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи рыла ҳахшыҩ ихәарҭоу ахәыцрақәа рыла иҳарҭәлароуп. Уи адагьы ҳара ҳахшыҩ ҳахьчоит аизарақәа бжьаҳмыжьлар, насгьы ажәабжь ҳҳәалар. Убасҟан Иегова ҳақәиргәыӷуеит ҳамч зықәхо аасҭа еиҳау аԥышәара ҳақәшәартә шиимуа (1 Кор. 10:12, 13).
18. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара зегьы?
18 Иахьатәи иуадаҩу аамҭақәа раан Иегова гәыкала имаҵ ҳауларц азы уаанӡа аасҭа еиҳаны Анцәа ҳиҳәалароуп. Есыҽны гәыкала Анцәа шәиҳәаларц азы аамҭа алшәхла. Иегова иҭахуп шәгәы иҭоу зегьы изеиҭашәҳәаларц (Аԥсал. 62:8). Иегова дшәырҽхәала, насгьы ишәзыҟаиҵо зегьы рзы ҭабуп ҳәа иашәҳәала. Ажәабжьҳәараҿы агәымшәара шәиҭаларц азы шәиҳәала. Ауадаҩрақәа ма шәхызхыр алшо акы шәанақәшәо ацхырааразы шәиҳәала. Иегова есымша иҳәара аӡәы дышәԥырхагахартә, ма ак шәԥырхагахартә алшәмыршан. Аха ишԥаҟаиҵо Иегова ҳаҳәарақәа рҭак? Ари ихадоу азҵаара анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит.
АШӘА 42 Анцәа имаҵзуҩы иҳәара
a Ҳара иаҳҭахуп ҳаҳәарақәа уҩыза гәакьа гәыкала изуҩуа аԥхарра зҵоу асаламшәҟәқәа иреиԥшзарц. Аха Анцәа иҳәаразы аамҭа аԥшаара анымариамгьы ыҟоуп. Уи адагьы, зны-зынла Анцәа ҳаниҳәо иаҳҳәаша ҳаздырӡом. Шәааи арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәап.
b Шәахәаԥш 2015 шықәса, ианвар азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 10, абзац 11.