Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 11

Аҽӡаахра ҳҽазыҟаҳҵар шҳалшо

Аҽӡаахра ҳҽазыҟаҳҵар шҳалшо

«Исԥырхагоузеи аҽӡаахра?» (АУС. 8:36).

АШӘА 50 Иегова сҽизыскырц азы сиҳәоит

АХҲӘАА a

Адунеи зегь аҿы иқәыԥшугьы зықәрахь инеихьоугьы рхаҵара еиҳа-еиҳа еизҳауеит, насгьы аӡы рыҽӡаархуеит. (Шәахәаԥш абзацқәа 1, 2.)

1, 2. Избан шәгәы кашәмыжьлар зшәыхәҭоу, макьана аҽӡаахра шәазхиамзар? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

 ИШӘҬАХУМА аӡы шәыҽӡаашәхыр? Уи даараӡа ибзиоу хықәкуп! Шәара уи ашьаҿа аҟаҵара шәазхиоуп ҳәа шәыԥхьаӡозар, насгьы аизара аиҳабацәа ақәшаҳаҭзар, аамҭа мгакәа аӡы шәыҽӡаашәх. Шәара Иегова имаҵзураҿы насыԥла иҭәу, насгьы аинтерес зҵоу аԥсҭазаара шәзыԥшуп.

2 Аха шәара аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа иҵегьы шәхы аус адыжәулароуп ҳәа шәарҳәазар? Мамзаргьы шәхаҭа уи еилышәкаауазар? Шәгәы кашәмыжьын. Шәара шаҟа шәхыҵуазаалакгьы, аҽыԥсахра, насгьы ихадоу уи ашьаҿа аҟаҵара шәылшоит.

«ИСԤЫРХАГОУЗЕИ АҼӠААХРА?»

3. Иарбан зҵаароу аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи ахаҵа Филипп ииҭаз, насгьы иарбан зҵаароу уи инадҳәаланы ицәырҵуа? (Аусқәа 8:36, 38).

3 Шәаԥхьа Аусқәа 8:36, 38. Ефиопиа иатәыз, аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа ажәабжьҳәаҩ Филипп абас диазҵааит: «Исԥырхагоузеи аҽӡаахра?» Уи ахаҵа ари ихадоу ашьаҿа аҟаҵара иҭахын, аха дазхиазма уи иара?

Аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи ахаҵа Иегова еиҳаны иеилкаара иҭахын. (Шәахәаԥш абзац 4.)

4. Излоубарҭоузеи Ефиопиа иатәыз аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа анаҩсгьы ак еиликаалар шиҭахыз?

4 Ефиопиа иатәыз аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа «Анцәа димҵахырхәарц азы Иерусалим дааны дыҟан» (Аус. 8:27). Иҟалап уи дыпрозелитызҭгьы, даҽакала иуҳәозар, аиудаизм идикылеит. Ҳәарада, уи Иегова иӡбахә Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә ауп ишеиликааз. Аха иара еиҳаны еиликаар иҭахын. Ишәгәалашәома, Филипп уи даниба дызҿыз? Иара аԥааимбар Исаиа ишәҟәы аԥхьара даҿын! (Аус. 8:28). Уи иҵаулоу абиблиатә ҵабыргқәа ракәын. Уи ахаҵа ихадоу арҵарақәа мацара изирхаӡомызт. Иара анаҩсгьы ак еиликаалар иҭахын.

5. Ихы ишԥаирхәоз аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи ахаҵа еиликаауаз?

5 Уи ахаҵа ефиопиатәи аҳкәажә кандакиа лҿы аҭыԥ ду ааникылон. Иара «аҳкәажә лмал дахагылан» (Аус. 8:27). Иҟалап иара хҭацәыхак имамызҭгьы. Аха Иегова имаҵ иуларц азы уеизгьы аамҭа иԥшаауан. Иара аҵабырг идыруазарц мацара акәӡамызт ииҭахыз, иара еиликаауаз инақәыршәаны ихы мҩаԥигон. Иерусалимтәи аныҳәарҭаҿы Иегова имаҵ иуларц азы иара ихараз Ефиопиантәи дааит. Иҟалап уи азы аамҭа рацәаны иҭаххазар, насгьы ахарџь ҟаиҵазар. Аха иара акгьы дамыхәаԥшӡакәа, Иегова имаҵ иулар иҭахын.

6, 7. Ишԥеизирҳаи аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи ахаҵа Иегова иахь ибзиабара, насгьы игәы зызҭанаҵазеи уи?

6 Аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи ахаҵа Филипп иҟынтә ихадоу аҵабыргқәа еиликааит. Иисус Мессиа шиакәызгьы уахь иналаҵаны (Аус. 8:34, 35). Уи ауаҩы Иисус иара изы иҟаиҵаз аниаҳа, деигәырӷьеит. Иҟаиҵазеи уи ашьҭахь? Иара акгьы мԥсахӡакәа, анаҩсгьы пату зқәырҵоз иудеиатәи апрозелит иакәны даанхар илшон. Аха Филиппи иареи реицәажәара ашьҭахь, Иеговеи Иисуси рахь ибзиабара еиҳагьы иӷәӷәахеит. Уи игәазҭанаҵеит аҽӡаахреи Иисус Христос ишьҭанеиреи. Филипп еиликааит уи ахаҵа, ихадаз уи ашьаҿа аҟаҵара дшазхиаз, убри аҟынтә аӡы дӡааихит.

7 Шәара аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи ахаҵа шәиҿыԥшлар, аҽӡаахра шәазхиазаауеит. Шәаргьы иара иеиԥш лакҩакрада абас шәҳәоит: «Исԥырхагоузеи аҽӡаахра?» Уи ахаҵа адыррақәа иоуит, еиликааз инақәыршәаны ихы мҩаԥигон, насгьы Анцәа иахь ибзиабара еизирҳауан. Шәааи еилаҳкаап шәаргьы урҭ ашьаҿақәа ҟашәҵар шшәылшо.

ШӘДЫРРАҚӘА ЕИЗШӘЫРҲАЛА

8. Шәгәы зызҭанаҵозеи Иоанн 17:3 иану ажәақәа?

8 Шәаԥхьа Иоанн 17:3. Иҟалап ҳара ҳҟынтә аӡәырҩы Иисус абарҭ иажәақәа анҳаҳа ашьҭахь акәзар, Абиблиа аҵара анаҳҭахха. Аха иазгәашәҭ: ари ажәеинраала иара убас иаҳнарбоит иҳамоу адыррақәа анаҩсгьы еизҳарҳалар шҳахәҭоу. Ҳара ахаан ҳаҟәыҵӡом Ҳазшаз Анцәа иеилкаара (Еккл. 3:11). Ҳара наӡаӡа иӡбахә еилаҳкаалоит. Шаҟа еилаҳкаало аҟара, убриаҟара Иегова ҳаизааигәахалоит (Аԥсал. 73:28).

9. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ихадоу абиблиатә рҵарақәа анеилаҳкаалак ашьҭахь?

9 Иегова иеилкаара ҳаналаго ихадоу абиблиатә рҵарақәа рыҭҵаара ала ауп ҳшалаго. Апостол Павел ауриацәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы урҭ арҵарақәа «раԥхьатәи арҵарақәа» ҳәа шырзиҳәазгьы, иара урҭ хадаӡам ҳәа акәӡамызт ииҳәарц ииҭахыз. Иара урҭ аӡҟы иифо ахш иаҿирԥшит (Аур. 5:12; 6:1). Аха иара убас Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон Анцәа Иажәа иану иҵаулоу аҵабыргқәагьы еилыркааларц. Ишәгәаԥхома шәара урҭ аҵабыргқәа реилкаара? Ишәҭахума Иеговеи иара игәҭаки ирызку адыррақәа анаҩсгьы ишәоуларц?

10. Избан шьоукы аҭҵаара амҩаԥгара зырцәыцәгьоу?

10 Аӡәырҩы ирҳәоит: «Аҭҵаара — уи даара ицәгьоуп». Иахышәҳәаауазеи уи шәара? Ишәҵама ашкол шәанҭаз ибзианы аԥхьашьеи аҭҵаара амҩаԥгашьеи? Ишәгәаԥхозма ашкол шәанҭаз ашықәсқәа раан аҭҵаара амҩаԥгареи, иҿыцу акы аилкаареи? Мамзаргьы ашәҟәқәа — уи сара истәӡам ҳәа шәыԥхьаӡоу? Ааи акәзар, шәымацара шәакәӡам ус згәы иаанаго. Аха Иегова дшәыцхраар ауеит. Иара днаӡоуп, насгьы зегьы иреиӷьу Рҵаҩуп.

11. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иегова — «[Ҳа]мҩақәҵаҩ Ду» иоуп ҳәа?

11 Иегова «[Ҳа]мҩақәҵаҩ Ду» иоуп (Ис. 30:20, 21). Иара ачҳара илоуп, насгьы ақьиареи аилкаареи злоу Рҵаҩуп. Иара иҵаҩцәа ирылоу абзиарақәа роуп игәеиҭо (Аԥсал. 130:3). Насгьы ҳара ҳҟынтә иҳалымшо ахаан дазыԥшӡам. Ишәхашәмыршҭлан зеиԥшыҟам аҳамҭа — ҳахшыҩ — еиҿазыртәаз иара шиакәу (Аԥсал. 139:14). Ҳара аҵара аҵара агәаҳәара ҳалаҵаны ҳшоуп. Ҳазшаз иҭахуп, ҳара наӡаӡа иҿыцу ак еилаҳкааларц, насгьы уи агәахәара ҳзаанагаларц. Убри аҟынтә уажәнатә абиблиатә ҵабыргқәа реилкааразы агәаҳәара еизҳарҳалар ҟәыӷароуп (1 Пиотр 2:2). Ишәзынагӡо ахықәкқәа ықәшәыргылала, насгьы Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи рзы ишәымоу аграфик шәықәныҟәала (Иис. Н. 1:8). Иегова ицхыраарала аԥхьареи иӡбахә аилкаареи еиҳа-еиҳа ишәгәаԥхалоит.

12. Избан Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи аҭҵаара зҳахәҭоу?

12 Аамҭа алшәхла Иисус иԥсҭазаареи имаҵзуреи иааиԥмырҟьаӡакәа азхәыцразы. Иегова имаҵ ҳауларц азы, еиҳараӡак арҭ иуадаҩу аамҭақәа раан, иахьынӡаҳалшо еиӷьны Иԥа ишьҭа ҳхыланы ҳҵалароуп (1 Пиотр 2:21). Иисус ишьҭанеицәа ауадаҩрақәа ишрықәшәало иаартны иҳәон (Лука 14:27, 28). Аха иара уеизгьы агәра ганы дыҟан, ииашоу иҵаҩцәа иара иеиԥш зегь ахгара шрылшо (Иоанн 16:33). Иисус иԥсҭазаара бзианы иҭышәҵаа, насгьы есыҽны иҿыԥшра хықәкыс иқәшәыргыл.

13. Ҳзызиҳәалар ҳахәҭоузеи Иегова, насгьы избан?

13 Иегова еиҳа еиӷьны шәиабадырырц азы, насгьы иара иахь абзиабареи ахаҵареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа еизшәырҳарц азы адыррақәа шәҭахуп. Аха уи мацара азхаӡом (1 Кор. 8:1—3). Убри аҟынтә Анцәа шәиҳәала шәхаҵара арӷәӷәара дшәыцхраарц (Лука 17:5). Иара гәыкала шәыҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит. Анцәа изку ииашоу адыррақәа шьаҭас измоу ииашаҵәҟьоу ахаҵара, еилышәкаауа ахархәара ишәыцхраауеит (Иак. 2:26).

ИШӘОУЗ АДЫРРАҚӘА ИНАРЫҚӘЫРШӘАНЫ ШӘХЫ МҨАԤЫЖӘГАЛА

Аӡхыҵра ҟалаанӡа Нои иҭаацәареи иареи еилыркааз инақәыршәаны рхы мҩаԥыргон. (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Иаҵшьны ишԥазгәеиҭеи Пиотр, иҳауз адыррақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалар шҳахәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Апостол Пиотр иаҵшьны иазгәеиҭеит, Христос ишьҭанеицәа ироуз адыррақәа инарықәыршәаны рхы мҩаԥыргалар шрыхәҭоу. Иара ҿырԥштәыс иааигеит Абиблиаҿы иану Нои ихҭыс. Иегова Нои иеиҳәеит ауаа цәгьақәа аӡхыҵраҿы ишықәиго. Нои иҭаацәареи иареи рхы еиқәдырхарц азы, аӡхыҵра шааигәахоз ахьырдыруаз мацара азхаӡомызт. Иазгәашәҭ, Пиотр уи апериод дшахцәажәаз. Иара уи аамҭа «Анцәа ачҳара аарԥшны, аковчег аргылара иалгаанӡа» даназыԥшыз ҳәа азиҳәеит (1 Пиотр 3:20). Ааи, Нои иҭаацәареи иареи Анцәа иреиҳәаз ҟарҵон, насгьы аковчег — аӷба дуӡӡа — аргылара иаҿын (Аур. 11:7). Анаҩс Пиотр Нои дызҿыз аус «аӡӡаахра иаҩызоуп... уи шәеиқәнархоит» ҳәа иҳәеит (1 Пиотр 3:21). Убас ала аҽӡаахра аҽазыҟаҵара аҿҳарԥшыр ҳалшоит Нои иҭаацәареи иареи аковчег дыргыларц азы изҿыз аус. Шәхы аус адыжәулар шԥашәыхәҭоу, аҽӡаахра шәҽазыҟашәҵарц азы?

15. Иаанагозеи гәыкала ахьхәра?

15 Аӡы уҽӡааухырц азы угәнаҳақәа гәыкала урыхьхәыроуп (Аус. 2:37, 38). Ауаҩы гәыкала данахьхәуа ауп иҽаниԥсахҵәҟьо. Иааншәыжьхьоума шәара Иегова игәамԥхо аусқәа зегьы? Иаҳҳәап, иламысдароу ахымҩаԥгашьа, аҭаҭын ахара, мамзаргьы ажәа ҟьашьқәеи угәы узырхьуа ажәақәеи рҳәара (1 Кор. 6:9, 10; 2 Кор. 7:1; Еф. 4:29). Макьана уи ҟашәымҵацзар, анаҩсгьы шәхы аус адыжәулала. Абиблиа шәзырҵо, мамзаргьы аизара аиҳабацәа ацхырааразы шәрыҳәала. Шәқәыԥшзар, насгьы шәҭаацәа шәрыцынхозар, урҭ ацхырааразы шәрыҳәала, аҽӡаахра ишәԥырхагоу ашьцыларақәа шәыриааирц азы.

16. Иаанагозеи адоуҳатә усқәа аамҭа рзалхра?

16 Иара убас адоуҳатә усқәа аамҭа рзалхра хадоуп. Иаҳҳәап, ақьырсиантә еизарақәа рҭаареи урҭ рыҽрылархәреи (Аур. 10:24, 25). Шәара жәабжьҳәаҩны шәҟалахьазар, иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь шәҳәала. Шаҟа ажәабжь шәҳәало аҟара уи еиҳа-еиҳа ишәгәаԥхалоит (2 Тим. 4:5). Шәқәыԥшзар, насгьы шәҭаацәа шәрыцынхозар, шәхы шәазҵаа: «Аизарахь, ма ажәабжьҳәара ишцатәу еснагь сҭаацәа исгәаладыршәома? Мамзаргьы уи схаҭа исгәалашәоу?» Аизарақәа шәанырҭаауа, насгьы ажәабжь анышәҳәо иаашәырԥшуеит ахаҵара шшәымоу, Иегова бзиа дшыжәбо, насгьы ишәзыҟаиҵо ахә ҳаракны ишышәшьо. Убас ала Иегова гәыкала шәшизыҟоу шьақәзырӷәӷәо аҳамҭақәа ишәҭоит (Аур. 13:15; 2 Пиотр 3:11). Аӡәы иҳадимцалакәа гәыкала иҟаҳҵо аҳамҭақәа Анцәа даараӡа ддыргәырӷьоит. (Иаҿшәырԥш 2 Коринфаа рахь 9:7.) Ҳара иаҳҭахуп Иегова зегь иреиӷьу иаҳҭалар. Убри азоуп ари зегь зыҟаҳҵо.

ИЕГОВА ИАХЬ ШӘЫБЗИАБАРА АИЗЫРҲАРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН

17, 18. Иарбан ихадоу ҟазшьоу аҽӡаахра аҽазыҟаҵара ишәыцхраауа, насгьы избан? (Ажәамаанақәа 3:3—6).

17 Аҽӡаахра уҽаназыҟауҵо ауадаҩрақәа урмықәшәар ауӡом. Иаҳҳәап, шәхаҵаразы ишәхыччалар ауеит, ишәҿагыларгьы алшоит (2 Тим. 3:12). Мамзаргьы, иҟалап, иҽеим ҟазшьак ааншәыжьыр шәҭахызар, аха зны-зынла уи шәиааиуазар. Ма ачҳара шәзымхозар, насгьы шәхықәкы ахаан ишәзынагӡом ҳәа шәгәы иахьаанаго азы шәгәы каҳауазар. Ишәыцхраар алшозеи зегь ахгара? Даараӡа ихадоу аҟазшьа — Иегова иахь абзиабара.

18 Иегова иахь шәыбзиабара — зеиԥшыҟам ҟазшьоуп. Уи ишәылоу аҟазшьақәа рҟынтә зегь раасҭа еиӷьуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 3:3—6.) Анцәа иахь ишәымоу абзиабара ӷәӷәа шәыцхраауеит шәыԥсҭазаараҿы шәзықәшәало ауадаҩрақәа рыхгара. Абзиабара шаарԥшлатәу аганахь ала Иегова аҿырԥшы ҳирбоит. Абиблиаҿы лассы-лассы иуԥылоит Иегова имаҵзуҩцәа гәыкала бзиа ишибо шьақәзырӷәӷәо ажәақәа. Уи иаанагоит иара урҭ игәы шырзыбылуа, насгьы ахаан ишаанимыжьуа (Аԥсал. 100:5). Шәара Анцәа шәиеиԥшны шәшоуп (Аҟаз. 1:26). Иаашәырԥшлар шԥашәылшо уи аҩыза абзиабара?

Шәара Иегова есыҽны ҭабуп ҳәа иашәҳәалар шәылшоит. (Шәахәаԥш абзац 19.) b

19. Ишԥашәылшо Иегова ишәзыҟаиҵо зегьы ахә ашьашьа шәҵар? (Галатаа рахь 2:20).

19 Зегь раԥхьаӡа иргыланы Иегова ишәзыҟаиҵо ахә ашьашьа шәҵала (1 Фес. 5:18). Есыҽны шәхы шәазҵаала: «Ишԥасирбеи иахьа Иегова бзиа сшибо?» Анаҩс Анцәа шәаниҳәо, ишәзыҟаиҵаз ак алкааны, уи азы ҭабуп ҳәа иаҳәара шәхашәмыршҭлан. Апостол Павел ишыҟаиҵоз еиԥш, Анцәа иҟаиҵо зегьы хаҭала шәара бзиа шәшибо шьақәзырӷәӷәо ак еиԥш шәахәаԥшла. (Шәаԥхьа Галатаа рахь 2:20.) Шәхы шәазҵаа: «Исҭахума саргьы бзиа дшызбо аасырԥшыр?» Иегова иахь ишәымоу абзиабара анаҩсгьы ишәыцхраалоит шәхызхыр алшо аҿагылареи аԥышәарақәа рыхгареи. Иара убас уи шәгәазҭанаҵоит, есыҽны адоуҳатә усқәа аамҭа рзалхра, убас жәҩантәи Шәаб бзиа дшыжәбо аарԥшра.

20. Иҟаҵатәузеи Иегова шәҽизышәкырц азы, насгьы шаҟа ихадоузеи уи?

20 Хәыҷы-хәыҷла Иегова иахь шәыбзиабара иҷыдоу анцәаиҳәараҿы иҽизкра шәгәазҭанаҵоит. Ишәхашәмыршҭлан, Иегова шәҽанизышәклак ашьҭахь зеиԥшыҟам алшара шышәзаатуа. Шәара наӡаӡа иара шәитәызаауеит. Иегова иаҳҭаз ажәа амч анамоу ҳаԥсҭазаараҿы зегь аныбзиоу мацара акәӡам, уи ауадаҩрақәа ҳанырҭагылоугьы амч амоуп. Уи ахаан ҿыц иҟаҵалатәӡам. Ҳәарада ҳара Анцәа ҳҽанизаҳкуа, ихадоу аӡбара ҳадаҳкылоит. Аха шәазхәыц: шәыԥсҭазаараҿы ирацәаны егьырҭ аӡбарақәа шәыдышәкылалоит. Ӡбарақәак даараӡа ибзиазаалоит, аха Анцәа шәҽизышәкырц азы ишәыдышәкыло аӡбара акгьы иузадкылаӡом (Аԥсал. 50:14). Аҩсҭаа иҭахуп ҳара гәыкала Анцәа имаҵ аура ҳаҟәыҵырц. Убри аҟынтә шәыбзиабара ирԥсыҽырц азы илшо зегь ҟаиҵалоит. Аха уи ииҭаху шәирҟаҵар шәымун! (Иов 27:5). Иегова иахь ишәымоу абзиабара ӷәӷәа шәыцхраауеит ишәҭаз ажәа инақәыршәаны анхара, насгьы жәҩантәи Шәаби шәареи шәеиҩызара арӷәӷәара.

21. Избан аҽӡаахра ашьҭахь ҳамҩа нҵәаӡом, уи алагоит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

21 Иегова шәҽанизышәклак ашьҭахь аӡы шәыҽӡаашәхырц шышәҭаху аизара аиҳабацәа ирашәҳәа. Аха ишәхашәмыршҭын: аҽӡаахрала шәымҩа нҵәаӡом. Шәымҩа уажәоуп ианалаго. Аҽӡаахрала иалагоит Иегова имаҵ ахьаҳуа ахаан инымҵәо амҩа. Убри аҟынтә жәҩантәи Шәаб иахь шәыбзиабара шәырӷәӷәала. Иқәшәыргылала иара иахь шәыбзиабара есыҽны изырӷәӷәало ахықәкқәа. Уи аҽӡаахра шәгәазҭанаҵоит. Аӡы шәҽанӡаашәхуа амш зеиԥшыҟам мшхоит. Аха уи ала зегь нҵәаӡом. Наӡаӡа иӷәӷәахалааит Иеговеи Иԥеи рахь ишәымоу абзиабара!

АШӘА 135 Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»

a Аҽӡаахра ҳҽазыҟаҳҵарц азы ҳмотивқәа иашазароуп. Аха иара убас ҳус бзиақәагьы хадоуп. Шәааи ҳахәаԥшып, аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи хаҵак иҿырԥшы. Насгьы еилҳаргап Абиблиа зҵо ауаҩы аӡы иҽӡааихаанӡа иҟаиҵар ихәҭоу ашьаҿақәа.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аиаҳәшьа анцәаиҳәараҿы Иегова иҳамҭақәа рзы ҭабуп ҳәа иалҳәоит.