Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Избан Абиблиаҿы зыхьӡ аным Ноеминь лыуа Боаз изиеиҳәаз, Руфь ԥҳәысс дызгар сыхҵәоит ҳәа? (Руфь 4:1, 6).

Абиблиатә аамҭақәа раан аҭаацәара иалаз ахаҵа ахшара димоуӡакәа данԥсуаз, ихадоу азҵаарақәа шьҭырхуан. Иаҳҳәап, ирзыруазеи идгьылқәеи имали? Иӡуама ишьҭра? Арҭ азҵаарақәа рҭак Моисеи изакәан аҿы ианын.

Иазыруази ауаҩы идгьыл, ахшара димоуӡакәа дыԥсызар? Уи иашьа, ма иуак иҭынхон. Аха аӷарра иахҟьаны ауаҩы идгьыл иҭихьазҭгьы, иҭынха уи ҿихыр илшон. Уи абзоурала аҭаацәара рыдгьыл рзынхон (Алев. 25:23—28; Ахыԥхь. 27:8—11).

Имыӡӡакәа ишԥаанхоз иԥсыз израильтәи ахаҵа ишьҭра? Уи азы иԥсыз ахаҵа иашьа, еибахаз иашьа иԥҳәыс ԥҳәысс дигон. Ииуаз ахәыҷы иԥсыз ихьӡ ихырҵон, ималгьы иҭынхон. Убасала азакәан еибахаз аԥҳәысгьы дахьчон (Ҩынтә. 25:5—7; Матф. 22:23—28).

Ҳахцәажәап Ноеминь лҿырԥшы. Лара Елимелех ԥҳәысс диман. Елимелехи ҩыџьа рԥацәеи анԥсы, аҩны иахагылоз, насгьы Ноеминь илхылаԥшлоз ҳәа аӡәгьы днымхаӡеит (Руфь 1:1—5). Ноеминь Иудеиаҟа даныхынҳә, лҭаца Руфь илалҳәеит Боаз рыдгьыл ҿихырц диҳәарц. Иара Елимелех изааигәаз иҭынха иакәын (Руфь 2:1, 19, 20; 3:1—4). Аха Боаз идыруан, иара иаасҭа еиҳа ирзааигәаз рҭынха дшыҟаз. Абиблиаҿы уи ихьӡ анӡам. Убри аҟынтә раԥхьа уи ахаҵа иакәын изацәажәатәыз (Руфь 3:9, 12, 13).

Раԥхьа уи рҭынха мап имкӡеит (Руфь 4:1—4). Уи харџьқәак шацызгьы, иара еиликаауан Ноеминь уажәшьҭа Елимелех идгьыл зҭынхоз ахшара дшылмоуаз. Усҟан адгьыл иара итәхон, иԥарақәагьы баша иӡӡомызт.

Аха уи ахаҵа Руфь ԥҳәысс дигар шакәхоз анеиликаа, мап икит. Иара Елимелех идгьыл азы абас иҳәеит: «Сара уи сызҿыхӡом, избанзар сыхнарҵәоит!» (Руфь 4:5, 6). Избан мап зикыз?

Руфь иара, ма даҽаӡәы ԥҳәысс дигазҭгьы, насгьы лара ахшара длоузҭгьы, ииуаз ахәыҷы Елимелех идгьыл иҭынхон. Дыхнарҵәар шԥалшоз уи иара? Абиблиаҿы уи анӡам, аха абар вариантқәак:

  • Акы, адгьыл ааихәазҭгьы, иԥара баша инихит ҳәа игәы иаанагар ауан, избанзар уи уеизгьы иара изынхаӡомызт. Уи Руфь лԥа иҭынхон.

  • Ҩба, усҟан иара Ноеминьгьы Руфьгьы ныҟәгатәыс иоуан.

  • Хԥа, Руфь иҵегьы ахәыҷқәа лыхшазҭгьы, имал егьырҭ ихәыҷқәеи дареи иршар акәхон.

  • Ԥшьбагьы, иара ахәыҷқәа имамызҭгьы, Руфь лԥа Елимелех идгьыл адагьы, иара идгьылгьы иҭынхон. Убас, идгьыл ихьӡ акәымкәа, Елимелех ихьӡ зхыз ахәыҷы иҭынхон. Абиблиаҿы зыхьӡ аным уи ахаҵа, имазара ашәарҭара иҭаргыланы, Ноеминь лыцхраара иҭахымхаӡеит. Иара уи аҭакԥхықәра Боаз иахь ииаигарц иӡбеит, избанзар Боаз иакәын уи ишьҭахь аҿыхра азин змаз. Ихы шԥамҩаԥигеи Боаз? Иара уи дақәшаҳаҭхеит, «иԥсыз ихьӡ ишьҭраҿы инхарц азы» (Руфь 4:10).

Абиблиаҿы зыхьӡ аным уи израильтәи ахаҵа ихьӡи идгьыли еиҳа дрыхӡыӡаауазҭгьы ҟаларын. Иара ихы мацара дазхәыцуан. Аха ихьӡ аҭоурых аҿы уеизгьы инымхаӡеит. Уи адагьы, иара зеиԥшыҟамыз алшара ицәыӡит, аха Боаз уи иоуит — Мессиа, Иисус Христос, ишьҭраҿы ихьӡ анылеит. Зхы мацара иазхәыцуаз израильтәи ахаҵа иҭоурых иаҳнарбоит, ацхыраара зҭаху мап анырцәукуа, уи хәарҭа шаанамго (Матф. 1:5; Лука 3:23, 32).