Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 10

Избан аҽӡаахра изаԥсоу?

Избан аҽӡаахра изаԥсоу?

«Аӡы шәыҽӡаашәх» (АУС. 2:38).

АШӘА 34 Ацқьара хьчала

АХҲӘАА a

1, 2. Иаҳбар ҳалшозеи аӡәы аӡы иҽанӡааихуа, насгьы ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи?

 ШӘХАҾЫ иаажәг аӡы зыҽӡаазхраны иҟоу шьоукы шәрыхәаԥшуашәа. Шәара ишәаҳауеит ажәахәҟаҵаҩ иқәиргылаз ҩ-зҵаарак, аҽӡаахра згәы иҭоу ишьақәырӷәӷәаны рҭак шыҟарҵо. Шәара ижәбоит урҭ гәыкала иреигәырӷьо рҩызцәеи рҭынхацәеи. Ҿыц зыҽӡаазхыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡы ианааҭыҵлак, анапеинҟьабжь шәаҳауеит, насгьы рхаҿсахьа агәырӷьара аныжәбаалоит. Бжьаратәла есымчыбжьа зықьҩыла ауаа уи ашьаҿа ҟарҵоит, насгьы Анцәа Иегова иӡааху ишаҳаҭцәа ракәны иҟалоит.

2 Иаҳҳәар ҳалшозеи шәара шәзы? Аҽӡаахра шәазхәыцуазар, ари адунеи цәгьаҿы Иегова дзыԥшаауа реиԥш, зегьы шәрылукаауеит (Аԥсал. 14:1, 2). Шәықәра зеиԥшразаалакгьы, ари астатиа шәара шәахь ирхоуп. Аха зыҽӡаазххьоугьы, Иегова наӡаӡа имаҵ ауразы иҳамоу агәаҳәара ҳмырӡыр ҳҭахуп. Убри аҟынтә шәааи Иегова имаҵ ҳаулар заҳҭаху, х-мзыз заҵәык ҳрылацәажәап.

АҴАБЫРГИ АИАШАРЕИ БЗИА ИАҲБОИТ

Зқьышықәсақәа ҵуеит Аҩсҭаа Иегова ихьӡ бзиа ирџьоижьҭеи. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3, 4.)

3. Избан Иегова имаҵзуҩцәа аҵабырги аиашареи бзиа изырбо? (Аԥсалом 119:128, 163).

3 Иегова имаҵзуҩцәа аиаша бзиа ирбаларц реиҳәеит (Зах. 8:19). Иисус ишьҭанеицәа аиашара иашьҭазарц ргәазҭеиҵеит (Матф. 5:6). Ус анакәха, ииашаны ахымҩаԥгаразы, насгьы Иегова иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхаларц азы агәаҳәара ӷәӷәа ҳамазароуп. Шәара аҵабырги аиашареи бзиа ижәбома? Агәра ганы ҳаҟоуп бзиа ишыжәбо. Шәара амци иарбанзаалак ацәгьареи шәцәымӷуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:128, 163.) Амц бзиа избо ауаа, ари адунеи анапхгаҩы, Аҩсҭаа, иҿыԥшуеит (Иоанн 8:44; 12:31). Уи ихықәкқәа руак — Иегова иҟам-ианым изҳәара ауп. Аҩсҭаа Едем Анцәа даниҿагыла аахыс Ҳанцәа амц изҳәара даҿуп. Иара Иегова зхы мацара иазхәыцуа, аиашара злам анапхгаҩ иеиԥш, насгьы ауаа ибзиоу акы рцәызҵәахуа иеиԥш дааирԥшит (Аҟаз. 3:1, 4, 5). Иегова изкны Аҩсҭаа ииҳәо амц иахьа уажәраанӡагьы ауаа рыхшыҩи ргәи бжьнахуеит. Ауаа аҵабырг акәымкәа, амц агәра аныргалак, Аҩсҭаа еиуеиԥшым ацәгьоурақәа дирҟаҵоит (Рим. 1:25—31).

4. Ишԥашьақәирӷәӷәеи Иегова иара аҵабырг Анцәа шиакәу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Иегова — аҵабырг Анцәа иоуп, иара бзиа дызбо ауаа аиаша рцәиҵәахӡом (Аԥсал. 31:5). Убас ала урҭ Аҩсҭаа ауаа ирылаирҵәо амц аҟынтә ихьчоит. Уи адагьы, Иегова имаҵзуҩцәа амц рымҳәаларц, насгьы ииашаны рхы мҩаԥыргаларц дирҵоит. Убри аҟынтә дара рхы ҳаҭыр рзақәуп, агәҭынчрагьы рымоуп (Ажәам. 13:5, 6). Иҟалап шәара шәхазгьы убас шәҳәар шәылшозар: Абиблиа анышәҵоз Иегова Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шәзааиртит, насгьы агәҭынчра шәиҭеит. Шәара еилышәкааит Иегова изакәанқәеи ипринципқәеи ауаатәыҩса зегьы рзы еиԥш, хаҭала шәара шәзгьы зегь раасҭа ишеиӷьу (Аԥсал. 77:13). Убри аҟынтә, шәара ииашоу Анцәа инормақәа рыла анхара шәҭаххеит (Матф. 6:33). Шәара аҵабырг шәадгыланы ишәыхьчаларц, насгьы Ҳанцәа Иегова изырҳәо амц шәаҿагыларц шәыӡбеит. Шәааи еилаҳкаап уи ҟаҳҵалар шҳалшо.

5. Ишԥашәылшо аҵабырги аиашареи рган аанышәкылар?

5 Шәара шәыԥсҭазаашьала абас шәҳәар шәылшоит: «Сара Аҩсҭаа ииҳәо амц сазыӡырҩӡом, насгьы аҵабырг садгылоит. Сара исҭахуп зегь Иреиҳау Напхгаҩыс Иегова дсымазарц, насгьы иара ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо мацара ҟасҵалар». Иҳацхраауазеи уи аҩыза алхра аҟаҵара? Раԥхьа Иегова ҳҽизаҳкроуп — даҽакала иуҳәозар, иҷыдоу Анцәа иҳәараҿы иаҳҳәароуп наӡаӡа имаҵ шаҳауло, — анаҩс аӡы ҳаҽӡааҳхроуп. Аҵабырги аиашареи рахь абзиабара — аҽӡаахра ҳгәазҭазҵо, иӷәӷәоу мчуп.

ИИСУС ХРИСТОС БЗИА ДАҲБОИТ

6. Иарбан мзызқәоу Иисус Христос бзиа ибаразы Аԥсалом 45:4 аҿы иҳаԥшаар ҳалшо?

6 Избан шәара Иисус Христос бзиа дзыжәбо? Мзызқәак Аԥсалом 45:4 (шәаԥхьа) аҿы иҳаԥшаар ҳалшоит. Иисус аҵабырги, аиашареи бзиа ибоит, насгьы аԥагьара илаӡам. Шәара аҵабырги аиашареи бзиа ижәбозар, Иисус Христосгьы бзиа дшыжәбо еилкаауп. Шәазхәыц иара аҵабырги аиашареи гәымшәарала дшадгылоз (Иоанн 18:37). Аха иара убас Иисус аԥагьара ҳаламзарц ҳирҵоит. Ишԥаҟаиҵо уи?

7. Избан Иисус аԥагьара ахьилам зышәгәаԥхо?

7 Иисус аҿырԥш бзиа ҳаиҭоит. Иара аԥагьара аамырԥшӡакәа Иаб дҳареикуеит, ихы акәымкәа (Марк 10:17, 18; Иоанн 5:19). Шәгәы зызҭанаҵозеи уи? Ҳәарада, уи шәгәазҭанаҵоит Анцәа Иԥа бзиа ибара, насгьы ишьҭа шәхыланы ацара. Аха избан Иисус аԥагьара зилам? Избанзар иара аԥагьара злам Иаб бзиа дибоит, насгьы инагӡаны диҿыԥшуеит (Аԥсал. 18:35; Аур. 1:3). Шәгәы азҭанамҵаӡои уи Иисус бзиа ибара?

8. Избан Ҳаҳ Иисус бзиа дзаҳбо?

8 Ҳара Ҳаҳ Иисус бзиа даҳбоит, избанзар уи иеиԥшу Анапхгаҩы дыҟаӡам. Иара дазыҟазҵаз, насгьы аҳра изҭаз Иегова ихаҭа иоуп (Ис. 50:4, 5). Шәазхәыц Иисус ихы дамеигӡакәа абзиабара шааирԥшыз (Иоанн 13:1). Шәаҳ иаҳасабала, Иисус шәыбзиабара даԥсоуп. Иара иҳәеит, бзиа дызбаҵәҟьо ауаа уи рыԥсҭазаара ишаныԥшуа, даҽакала иуҳәозар, иԥҟарақәа ишрықәныҟәо. Иисус урҭ сҩызцәа ҳәа рзиҳәоит (Иоанн 14:15; 15:14, 15). Шаҟа ҳаҭыр дуузеи Иегова Иԥа иҩызахара!

9. Излеиԥшузеи ақьырсианцәа рыӡӡаахреи Иисус иӡӡаахреи?

9 Иисус иԥҟарақәа руак иаҳәоит, иҵаҩцәа аӡы рыҽӡаархлар шрыхәҭоу (Матф. 28:19, 20). Уи аҿы иара ихаҭа аҿырԥшы ҳирбеит. Иисус иӡӡаахреи ишьҭанеицәа рыӡӡаахреи злеиԥшым ыҟоуп. (Шәахәаԥш арамка « Излеиԥшымзеи Иисус иӡӡаахреи ишьҭанеицәа рыӡӡаахреи?».) Аха излеиԥшугьы ыҟоуп. Иисус аӡы иҽанӡааих, Иаб ииҭаху аҟаҵара иԥсҭазаара азикит (Аур. 10:7). Убас еиԥшҵәҟьа Христос ишьҭанеицәа аӡы рҽанӡаархуа зегьы ишраҳауа ирҳәоит, Анцәа Иегова наӡаӡа имаҵ шыруло ала ажәа ширҭаз. Уинахыс дара ирҭаху акәымкәа, Анцәа ииҭаху ҟарҵалоит. Убас ала дара Ирықәиҭу иҿыԥшуеит.

10. Иарбан мзызқәоу Иисус бзиа ибаразы иҟоу, насгьы шәгәы зызҭанаҵозеи уи бзиа дахьыжәбо?

10 Шәара агәра жәгоит Иисус — Иегова Иԥа заҵә шиакәу, насгьы напхгара ҳзиуларц азы Анцәа иалихыз Аҳ шиакәу. Шәара ижәбеит Иисус аԥагьара шилам, насгьы Иаб инагӡаны дшиҿыԥшуа. Шәара еилышәкааит иара амла иакуаз акрышырҿеиҵоз, згәы каҳаны иҟаз ргәы шышьҭихуаз, ичмазаҩызгьы шихәышәтәуаз (Матф. 14:14—21). Шәара ижәбоит иара иеизара напхгара шаиҭо (Матф. 23:10). Насгьы шәара ижәдыруеит, Анцәа Иаҳраҿы Аҳас иҟоу иаҳасабала, аԥхьаҟа акырӡа еиҳаны ишыҟаиҵо. Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иисус бзиа дшыжәбо? Иара шәиҿыԥшуазар (Иоанн 14:21). Уи азы Иегова шәҽизышәкроуп, насгьы аӡы шәыҽӡаашәхроуп.

АНЦӘА ИЕГОВА БЗИА ДАҲБОИТ

11. Иарбан ихадоу мзызу аӡы шәыҽӡаашәхырц азы иҟоу? Иҳаилшәыркаа.

11 Иарбан ихадоу мзызу аӡы шәыҽӡаашәхырц азы иҟоу? Иисус иҳәеит, Анцәа иԥҟарақәа рҟынтә зегь раасҭа ихадоу абри ауп ҳәа: «Бзиа дыжәбала Шәынцәа Иегова гәык-ԥсыкала, шәыԥсгьы шәыхшыҩгьы иара изышәк, шәымч-шәылшара иара изы шәамеигӡалан» (Марк 12:30). Ишәҳәар шәылшома шәара убас Анцәа бзиа дыжәбоит ҳәа?

Аԥсҭазаараҿы шәгәы ҟазҵо зегьы, насгьы аԥхьаҟа ишәоураны иҟоу зегьы — Иегова иҟынтә ауп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)

12. Бзиа дзыжәбозеи Иегова? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Иегова ҳабзиабара дзаԥсоу амзызқәа даара ирацәоуп, урҭ зегь узеиқәыԥхьаӡаӡом. Иаҳҳәап, шәара еилышәкааит иара «аԥсҭазаара иахыҵхырҭоу» шиакәу, насгьы «инаӡоу аҳамҭа бзиақәа» иара иҟынтә ишшәоуз (Аԥсал. 36:9; Иак. 1:17). Аԥсҭазаараҿы шәгәы ҟазҵо зегьы, — згәы ҭбаау, насгьы бзиа шәызбо Шәынцәа иоуп ишәызҭаз.

13. Избан иаҳҳәар зҳалшо аҿыхра зыхә ҳараку Анцәа иҳамҭа ауп ҳәа?

13 Зыхә ҳараку Иегова иҳамҭақәа руак — аҿыхра ауп. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Шәазхәыц, Иегова Иԥеи иареи реиҩызара шаҟа иӷәӷәоу. Иисус иҳәеит: «Саб бзиа [сибоит]», насгьы «Саб бзиа [дызбоит]» (Иоанн 10:17; 14:31). Миллиардла ашықәсқәа цон, дара реиҩызара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон (Ажәам. 8:22, 23, 30). Уажәшьҭа шәазхәыц, Анцәа иара Иԥа дышгәаҟуаз, насгьы дшыԥсуаз анибоз шаҟа игәы ихьуаз. Аха Иегова ауаатәыҩса, шәаргьы уахь шәналаҵаны, убриаҟара бзиа ибоит, шәаргьы егьырҭ ауаагьы наӡаӡа шәынхаларц азы бзиа иибо Иԥа димеигӡаӡеит (Иоанн 3:16; Гал. 2:20). Уи Анцәа бзиа ибаразы зегь раасҭа ихадоу мзызуп.

14. Иарбан зегь раасҭа еиӷьу хықәку шәара иқәшәыргылар шәылшо?

14 Шәара Иегова еиҳа еиӷьны дыжәдырцыԥхьаӡа, иара иахь шәыбзиабара еизҳауан. Ҳәарада, шәара ишәҭахуп еиҳагьы шәизааигәахар, насгьы наӡаӡа шәеиҩызара шәырӷәӷәалар. Шәара уи шәылшоит! Иара игәы ҟашәҵаларц хаала шәгәазҭеиҵоит (Ажәам. 23:15, 16). Шәара ишәылшоит уи ажәала адагьы, услагьы иҟашәҵалар. Шәыԥсҭазаашьала иаашәырԥшыр шәылшоит Иегова бзиа дшыжәбаҵәҟьо (1 Иоанн 5:3). Анцәа игәы аҟаҵара — ауаҩ изы зегь раасҭа еиӷьу хықәкуп!

15. Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иегова бзиа дшыжәбо?

15 Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иегова бзиа дшыжәбо? Раԥхьа, иҷыдоу анцәаиҳәараҿы шәыԥсҭазаара шизышәкуа ажәа ишәҭароуп (Аԥсал. 40:8). Анаҩс, Анцәа ажәа шишәҭаз зегь рҿаԥхьа ишәҳәароуп — аӡы шәыҽӡаашәхроуп. Ишеилҳаргаз еиԥш аӡӡаахра шәқьырсиантә мҩаҿы ихадоу шьаҿахоит, агәырӷьарагьы рацәаны ишәзаанагоит. Уажәшьҭа аԥсҭазаара ҿыц шәалагоит — шәхазы акәымкәа, Иегова изы (Рим. 14:8; 1 Пиотр 4:1, 2). Уи аҵак ду змоу аӡбара ауп ҳәа шәхәыцуазар, ус иагьыҟаҵәҟьоуп. Аха аӡӡаахра зегь иреиӷьу аԥсҭазаарахь амҩа шәзаанартуеит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо?

16. Дышԥарзылԥхо Иегова зыԥсҭазаара имаҵ аура иазызкыз, Аԥсалом 41:12 иану инақәыршәаны?

16 Иегова иаҟара згәы ҭбаау дыҟаӡам. Шаҟа ишәҭозаалакгьы, иара арахь акырӡа еиҳаны ишәиҭоит (Марк 10:29, 30). Зҵыхәтәахьы анеира иаҿу ари адунеи аҿы Иегова насыԥла иҭәу, аҵак ду змоу аԥсҭазаара шәиҭоит. Аха уи мацара акәӡам. Аҽӡаахрала иалаго шәымҩа ҵыхәаԥҵәара амаӡам. Шәара ишәылшоит бзиа шәызбо Шәаб наӡаӡа имаҵ жәулар. Иареи шәареи ишәыбжьоу абзиабара еиҳа-еиҳа еизҳалоит. Насгьы иара иеиԥш шәаргьы наӡаӡа шәынхалоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 41:12.)

17. Иҳалшома Иегова имам ак иаҳҭар? Иҳаилшәыркаа.

17 Ауаҩы аӡы иҽанӡааихлак ашьҭахь жәҩантәи Ҳаб зыхә ҳараку ак ииҭартә алшара иоуеит. Аԥсҭазаараҿы иҳамоу абзиарақәа зегьы, насгьы ҳзыргәырӷьо зегьы иара иоуп иҳазҭаз. Уи азы ҳара иҳалшоит, дгьыли-жәҩани Зтәу имам ак иаҳҭар — гәыкала имаҵ ҳаулар (Иов 1:8; 41:11; Ажәам. 27:11). Иҟоума аԥсҭазаараҿы еиӷьу даҽа мҩак? Ҳәарада, Иегова иахь иҳамоу абзиабара — аҽӡаахразы зегь иреиӷьу мзызуп.

ИСԤЫРХАГОУЗЕИ АҼӠААХРА?

18. Иарбан зҵаарақәоу шәхы иашәҭар шәылшо?

18 Ишԥаҟашәҵо уажәшьҭа ари азҵаара аҭак: «Аӡы уҽӡааухуама?» Шәара шәзы аҭак аӡәгьы изыҟаҵаӡом. Ари азҵаара аҭак аҟаҵара еиҳа ишәзымариахарц азы, шәазхәыц: «Исԥырхагоузеи аҽӡаахра?» (Аус. 8:36). Ишәгәалашәыршәа аҽӡаахра изаԥсоу х-мзызк. Актәи: шәара аҵабырги аиашареи бзиа ижәбоит. Шәхы шәазҵаа: «Исҭахума ауаа зегьы аиаша анырҳәало, насгьы ииашаны рхы анымҩаԥыргало амш збар?» Аҩбатәи: шәара Иисус Христос бзиа дыжәбоит. Шәхы шәазҵаа: «Исҭахума Анцәа Иԥа Аҳас дсымазарц, насгьы иара сиҿыԥшлар?» Насгьы ахԥатәи, зегь раасҭа ихадоу: шәара Иегова бзиа дыжәбоит. Шәхы шәазҵаа: «Исҭахума Иегова дсыргәырӷьаларц азы имаҵ зулар?» Арҭ азҵаарақәа зегьы ааи ҳәа аҭак ҟашәҵазар, иаԥсоума аҽӡаахра ахгара? (Аус. 16:33).

19. Избан аҽӡаахразы аамҭа згалатәым? Иаажәга аҿырԥштәы (Иоанн 4:34).

19 Шәара аҽӡаахра шәзымгәаӷьуазар, Иисус иааигаз аиҿырԥшра шәазхәыц. (Шәаԥхьа Иоанн 4:34.) Иазгәашәҭ иара Иаб игәҭакы анагӡара афатә ишаҿирԥшыз. Избан? Избанзар афатә ҳхаҳауеит. Иисус идыруан, Иегова дзызҳаҳәо зегьы ахәарҭа шаҳзаанаго. Дшәыҳәома Иегова аӡы шәыҽӡаашәхырц? Ааи, уи ауп иара ииҭаху (Аус. 2:38). Ус анакәха, шәыҽӡаашәхыр уи ахәарҭа шәзаанагоит. Мап ацәышәкрызма зегь раасҭа ихааны афатә ҟазҵо ауаҩы иҟаиҵаз фатәык? Нас мап зацәышәкри аҽӡаахра ишәзаанаго агәырӷьара?

20. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

20 Избан шьоукы аҽӡаахра изахымыццакуа? Аӡәы иҳәар ауеит: «Сара макьана уи сазхиаӡам». Ииашаҵәҟьаны, Иегова иҽизкра, насгьы аҽӡаахра — зегь раасҭа ихадоу ӡбароуп. Уи умхәыцӡакәа иҟаумҵароуп. Аҽӡаахра уҽазыҟауҵарц азы аамҭеи амчи аҭахуп. Аха шәыҽӡаашәхырц гәыкала ишәҭахызар, ишԥашәылшо уи ашьаҿа шәҽазыҟашәҵар? Уи азҵаара аҭак анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.

АШӘА 28 Иегова уиҩызаха

a Аҽӡаахра — уи Абиблиа зҵо ауаҩы иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу шьаҿоуп. Игәазҭазҵар алшозеи иара уи ашьаҿа аҟаҵара? Ажәакала иуҳәозар — абзиабара. Аха бзиа иибозеи, насгьы бзиа иибода? Ари астатиаҿы уи азҵаара аҭак ҳауеит, насгьы еилаҳкаауеит, аӡы зыҽӡаазхыз ақьырсиан закә ԥсҭазаароу изыԥшу.