Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Асаит jw.org аҿы адаҟьа «Иҿыцу асаит аҿы», насгьы апрограмма JW Library® аҿы аҟәша «Новое» ибзианы ҳхы иаҳархәалар шҳалшо

Уа иаагоуп ҿыц иҭыҵыз аматериалқәа. Ишԥашәылшо уи адаҟьеи аҟәшеи шәхы иашәырхәалар, ҿыц иҭыҵыз шәдыруазарц азы?

JW LIBRARY

  • Иҿыцу астатиа анцәырҵлак, уи зҵазкуа астатиақәа ахьыҟоу аҟәша аҽарҿыцуеит. Убри аҟынтә аҟәша «Новое» аҿы уи аҟәша анцәырҵлак, шәара иҭажәгалар шәылшоит аҵыхәтәантәи аверсиа. Иҿыцу астатиа шәыԥшаауеит арыцхәқәа рыла еишьҭагылоу астатиақәа рхаҿы.

  • Еиҳа идуу апубликациақәа, иаҳҳәап ажурнал, зныкала шәзамыԥхьар алшоит. Уи шәцәыбжьамхарц азы аԥхьара шәалгаанӡа «Избранное» ахь иацышәҵар шәылшоит.

JW.ORG

Иҟоуп асаит jw.org аҿы мацара ицәырҵуа аинформациа, иаҳҳәап ажәабжьқәеи алаҳәарақәеи. Апрограмма JW Library аҿы уи цәырҵӡом. Аҵыхәтәантәи астатиақәа шәцәыбжьамхарц азы адаҟьа «Иҿыцу асаит аҿы» лассы-лассы шәҭалала.