Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 14

Христос иҵаҩцәа ирыбжьоу абзиабарала иудыруеит

Христос иҵаҩцәа ирыбжьоу абзиабарала иудыруеит

«Шәыбжьара абзиабара ҟалар, сҵаҩцәа шшәакәу зегьы ирдыруеит» (ИОАНН 13:35).

АШӘА 106 Абзиабара еизҳарҳауеит

АХҲӘАА a

Иԥшарныруеи Иегова имаҵ зымуа аӡәырҩы ауаа, Иегова ижәлар рыбжьара иҟоу абзиабара? (Шәахәаԥш абзац 1.)

1. Иџьаршьозеи аӡәырҩы ауаа раԥхьаӡа акәны ҳаизарақәа рахь ианааиуа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

 ШӘХАҾЫ иаажәг Иегова ишаҳаҭцәа р-Аҳратә зал ахь раԥхьаӡа акәны иааз хаҵеи-ԥҳәыси. Дара уа ишырԥылаз, насгьы ирбаз абзиабара даара иџьаршьеит. Аҩныҟа ианыхынҳәуаз, аԥҳәыс лыԥшәма ус иалҳәеит: «Иегова ишаҳаҭцәа аӡәгьы иеиԥшӡам. Сара урҭ рҿы исгәаԥхеит».

2. Избан шьоукы Иегова имаҵ аура изаҟәыҵыз?

2 Ақьырсиантә еизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыбжьоу абзиабара аҩыза уаҳа џьаргьы иузыԥшааӡом. Ҳәара аҭахума, Иегова ишаҳаҭцәа наӡаӡам (1 Иоанн 1:8). Убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны ҳрабадырцыԥхьаӡа, ирыгу еиҳагьы иаҳбалоит (Рим. 3:23). Угәы унархьыртә иҟоуп, аха шьоукы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рынамӡара мыцхәы рхы ахьазырышьҭуаз азы, Иегова имаҵ аура иаҟәыҵит.

3. Ирылызкаауазеи Христос ииашоу ишьҭанеицәа егьырҭ ауаа? (Иоанн 13:34, 35).

3 Шәааи ари астатиа иазалху ажәеинраала дырҩегь ҳахәаԥшып. (Шәаԥхьа Иоанн 13:34, 35.) Ирылызкаауазеи Христос ииашоу ишьҭанеицәа егьырҭ ауаа? Дара егьырҭ ауаа ирылызкаауа ирыбжьоу абзиабара ауп, анаӡара акәӡам. Уи адагьы иазгәашәҭ, Иисус имҳәаӡеит: «Сҵаҩцәа шшәакәу шәара ижәдыруеит». Иара иҳәеит: «Сҵаҩцәа шшәакәу зегьы ирдыруеит». Убас иара иаҳирбеит ишьҭанеицәа рыдагьы, Иегова имаҵ зымуа ауаагьы ииашоу иҵаҩцәа ирыбжьоу абзиабарала ишырдырло.

4. Еилыркаарц ирҭахузеи шьоукы ииашоу ақьырсианцәа ирызкны?

4 Иегова имаҵ зымуа ауаа абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа рызцәырҵыр ауеит: «Ишԥаҳацхраауеи Христос ишьҭанеицәа рыбжьара иҟоу абзиабара, урҭ ииашоу ақьырсианцәа шракәу аилкаара? Ишԥааирԥшуаз Иисус иапостолцәа рахь абзиабара? Насгьы ишԥаҳалшо иахьа уи ҳаиҿыԥшлар?» Иегова ишаҳаҭцәагьы арҭ азҵаарақәа ирызхәыцыр бзиоуп. Уи ҳацхраауеит еиҳаны абзиабара аарԥшра, еиҳараӡак аишьцәеи аиҳәшьцәеи рынамӡара иахҟьаны агхақәа анрыхьуа (Еф. 5:2).

ИЗБАН ИИАШАҴӘҞЬОУ АҚЬЫРСИАНЦӘА ИРЫБЖЬОУ АБЗИАБАРАЛА ИУДЫРЫР ЗАЛШО?

5. Ииҳәарц ииҭахызи Иисус Иоанн 15:12, 13 аҿы? Иҳаилшәыркаа.

5 Иисус еилыкка иаҳирбеит ишьҭанеицәа ҷыдала бзиа ишеибабало. (Шәаԥхьа Иоанн 15:12, АУ 13.) Иазгәашәҭ иара урҭ иреиҳәаз: «Аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала, Сара бзиа шәшызбаз аиԥш». Ииҳәарц ииҭахызи Иисус? Иара иҵаҩцәа рхы иамеигӡакәа бзиа еибабаларц реиҳәеит. Уи аҩыза абзиабара ақьырсиан, иаҭаххар, иашьа изы аԥсрагьы игәазҭанаҵоит b.

6. Ишԥаҳаилнаркаауеи Анцәа Иажәа абзиабара аҵакы ӷәӷәа шамоу?

6 Анцәа Иажәа абзиабара аҵакы ӷәӷәа шамоу ҳаилнаркаауеит. Аӡәырҩы ауаа анаҩстәи абиблиатә жәеинраалақәа ҿырҳәала ирдыруеит: «Анцәа дыбзиабароуп» (1 Иоанн 4:8); «Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала» (Матф. 22:39); «Абзиабара аазырԥшуа еснагь анажьра дазхиоуп» (1 Пиотр 4:8); «Абзиабара ахаангьы иӡӡом» (1 Кор. 13:8). Арҭ, насгьы егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа иаҳдырбоит, зеиԥшыҟам ари аҟазшьа аизырҳареи аарԥшреи шаҟа ихадоу.

7. Избан Аҩсҭаа ахаан изилымшо ауаа абзиабараҵәҟьа ала реидкылара?

7 Аӡәырҩы ауаа рхы иазҵаауеит: «Ишԥасылшо ииашоу адинхаҵара ахьыҟоу аилкаара?» Дара ирзеилкааӡом, адинхаҵарақәа зегьы аҵабырг ҳара ҳҿы иҟоуп ҳәа шырҳәогьы, Анцәа изкны ауаа иддырҵо зеиԥшым. Аҩсҭаа ауаа ирҩашьарц азы ирацәаны амцдинхаҵарақәа еиҿикааит. Аха иара ахаан изеиҿкааӡом бзиа еибабо адунеизегьтәи ақьырсиантә иашьара. Уи зылшо Иегова заҵәык иоуп. Уи еилкаауп, избанзар иара иоуп абзиабара иахыҵхырҭоу. Иегова идоуҳа змоу, насгьы дыззылԥхо заҵәык роуп бзиа еибабаҵәҟьо (1 Иоанн 4:7). Убри азоуп Иисус изиҳәаз ииашоу ишьҭанеицәа ирыбжьоу ахамеигӡара зныԥшуа абзиабарала ишырдырло.

8, 9. Ишԥарныруеи аӡәырҩы ауаа Иегова ишаҳаҭцәа ирыбжьоу абзиабара?

8 Иисус заа ишиҳәахьаз еиԥш ииашоу ишьҭанеицәа ирыбжьоу абзиабарала аӡәырҩы ирдыруеит. Иаҳҳәап, И́ен зыхьӡу аиашьа иҩны азааигәара иҟаз астадион аҿы имҩаԥысуаз раԥхьатәи иконгресс игәалаиршәоит. Аконгресс мҩаԥыргаанӡа мышқәак шагыз, уи астадион аҿы аматч мҩаԥысит. Иара иҳәоит: «Шаҟа еиԥшымзи Иегова ишаҳаҭцәа рконгресси уи аматчи! Иегова ишаҳаҭцәа ахаара рыҵан, ицқьаны еилаҳәан, рхәыҷқәагьы ибзианы рхы мҩаԥыргон». Иен иациҵоит: «Аха еиҳа ихадоу, урҭ ауаа аԥсҭазаара агәахәара шырзаанаго убарҭан. Убри акәын сара есымша сзышьҭаз! Сара аконгресс апрограмма аҟынтә акгьы сгәалашәаӡом, аха Иегова ишаҳаҭцәа рхымҩаԥгашьа ахаан исхашҭуам» c. Ҳәара аҭахума, ҳара ус ҳхы зымҩаԥаҳго бзиа ҳахьеибабаҵәҟьо азоуп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит дара рахь ақьиара аарԥшреи пату рықәҵареи.

9 Џьон зыхьӡу аиашьагьы ақьырсиантә еизарақәа рахь аныҟәара даналага урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа иман: «Урҭ ауаа сышрыдыркылаз даара иџьасшьеит. Дара акгьы згым уаауп ҳәа сгәы иаанагеит. Урҭ гәыкала иаадырԥшуаз абзиабара агәра снаргеит ииашоу адинхаҵара шысыԥшааз» d. Арҭ рҩызцәа ахҭысқәа ишьақәдырӷәӷәоит Иегова имаҵзуҩцәа — ииашоу ақьырсианцәа шракәу.

10. Ианбаҳауеи ақьырсиантә бзиабара аарԥшразы иҷыдоу алшара? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

10 Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыбжьара инаӡоу ауаа ыҟаӡам. Зны-зынла дара ҳгәы ҳзырхьуа ак рҳәоит ма иҟарҵоит (Иак. 3:2) e. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы урҭ бзиа ишаҳбо ажәалеи услеи аарԥшразы иҷыдоу алшара ҳауеит. Иҿаҳҵаар ҳалшозеи Иисус уи аганахь ала? (Иоанн 13:15).

ИШԤААИРԤШУАЗ ИИСУС ИАПОСТОЛЦӘА РАХЬ АБЗИАБАРА?

Иисус иапостолцәа агхақәа аныҟарҵозгьы, дара рахь абзиабара ааирԥшуан. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11—13.)

11. Иарбан иҽеим ҟазшьақәоу Иакови Иоанни ирылаз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Иисус иҵаҩцәа рҟынтә анаӡара дазыԥшӡамызт. Иара абзиабара аарԥшны урҭ аҽыԥсахра дрыцхраауан, Иегова игәы иақәшәо уааны иҟазарц азы. Зны апостолцәа Иакови Иоанни Иисус иахь ран дрышьҭит, Аҳраҿы аҭыԥ бзиа роурц диҳәарц азы (Матф. 20:20, 21). Иакови Иоанни рыҳәара иаанарԥшит аԥагьара шрылаз, насгьы егьырҭ ирылыркааларц шырҭахыз (Ажәам. 16:18).

12. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иакови Иоанни рыдагьы, егьырҭ апостолцәагьы иҽеимыз аҟазшьақәа шрылаз ааԥшит ҳәа? Иҳаилшәыркаа.

12 Аха уи аҭагылазаашьаҿы Иакови Иоанни рыдагьы, егьырҭ апостолцәагьы иҽеимыз аҟазшьақәа шрылаз ааԥшит. Иазгәашәҭ дара рхы шымҩаԥыргаз: «Жәаҩык аҵаҩцәа уи анраҳа, урҭ аишьцәа ргәы рзыԥжәеит» (Матф. 20:24). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит дара Иакови Иоанни шаҟа ихжәаны ирацәажәоз. Иҟалап апостолцәа ҩыџьа аишьцәа абас рарҳәозҭгьы: «Избан Аҳраҿы аҭыԥ дуқәа шәызрышьҭоу? Ҳара ҳаасҭа шәеиӷьу џьышәшьома? Шәымацара шәоума Иисус ивагыланы аџьабаа збоз? Ҳаргьы шәара шәеиԥш аҭыԥ дуқәа ҳрыԥсоуп!» Урҭ еибырҳәазаалакгьы, апостолцәа ирыбжьаз абзиабара убри аамҭазы ихьшәашәартә алдыршеит.

13. Ирхиҳәаазеи Иисус иапостолцәа рыгхақәа? (Матфеи 20:25—28).

13 Ихы шԥамҩаԥигеи уи аҭагылазаашьаҿы Иисус? Иара урҭ игәы рызԥымжәаӡеит. Иара иреимҳәаӡеит дара иреиӷьу, аԥагьара злам, насгьы еснагь бзиа еибабало апостолцәа иԥшаауеит ҳәа. Иисус ачҳара аарԥшны гәыкала иҟаз урҭ ахацәа дрылабжьон. (Шәаԥхьа Матфеи 20:25—28.) Иара урҭ бзиа рбара даҟәымҵӡеит, дара уаанӡагьы уи ашьҭахьгьы ҳауа еиҳада ҳәа ажәа шеимаркуазгьы (Марк 9:34; Лука 22:24).

14. Иарбан культуроу Иисус иапостолцәа злиааз?

14 Ҳәара аҭахума Иисус иапостолцәа злиааз акультура дазхәыцуан (Иоанн 2:24, 25). Урҭ ианхәыҷыз инаркны ираҳауан, азакәан арҵаҩцәеи афарисеицәеи ишырҳәоз, ауаҩы аҭыԥ бзиеи ахьӡ-аԥшеи имазароуп ҳәа (Матф. 23:6; иаҿшәырԥш 2010 шықәса, апрель 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Иисус и его ученики проповедовали в синагогах», аурыс). Уи адагьы адиннапхгаҩцәа зегьы иреиӷьушәа рхы рыԥхьаӡон (Лука 18:9—12) f. Иисус еиликаауан ари зегьы иапостолцәа рхы ишазыҟаз, насгьы егьырҭ ишрыхәаԥшуаз анырра анамҭар шамуаз (Ажәам. 19:11). Иара урҭ рҟынтә амцхә дазыԥшӡамызт, насгьы агхақәа анрыхьуаз ачҳара ааирԥшуан. Иара идыруан урҭ ииашаны рхы мҩаԥыргалар шырҭахыз, убри аҟынтә ачҳара аарԥшны дрыцхраауан, аҽырԥагьареи егьырҭ иреиӷьушәа ахәыцреи аҭыԥан абзиабара аадырԥшларц.

ИШԤАҲАЛШО ИИСУС ИҾЫԤШРА?

15. Иаҳнарҵар алшозеи Иакови Иоанни рыхҭыс?

15 Иакови Иоанни рыхҭыс иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Ҳәара аҭахума, дара Аҳраҿы аҭыԥ дуқәа иахьрыҳәаз иашаӡамызт. Аха егьырҭ апостолцәагьы иашаӡамызт, избанзар уи аҭагылазаашьа иахҟьаны акзаара рцәыӡит. Ус шакәызгьы Иисус 12-ҩык иапостолцәа зегь рахь ақьиареи абзиабареи ааирԥшуан. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхы шымҩаԥырго мацара акәӡам аус злоу. Дара агхақәа аныҟарҵо ҳара ҳхы шымҩаԥаҳгогьы хадоуп. Иҳацхраауазеи ииашаны ахымҩаԥгара? Аӡәы ҳгәы анаҳирхьуа абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар ҳалшоит: «Избан уи абас сгәы изалсыз? Иаанамырԥшӡои уи аус здызулар сыхәҭоу иҽеим ҟазшьак шсылоу? Сзыргәааз ауаҩы уажәы уадаҩрак имазар? Исылшома схы мацара сазымхәыцӡакәа абзиабара аарԥшны ианасыжьыр?» Егьырҭ ауаа рахь абзиабара анааҳарԥшуа Иисус иҵаҩцәаҵәҟьа шҳакәу шьақәҳарӷәӷәоит.

16. Иаҳнарҵозеи иҵегьы Иисус иҿырԥшы?

16 Иисус иҿырԥшы ҳацхраауеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь аилкаара аарԥшра (Ажәам. 20:5). Ҳәарада, Иисус ауаа ргәы иҭаз ибон. Ҳара уи ҳалшаӡом. Аха ҳара ҳгәы ҳзырхьыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь ачҳара ааҳарԥшлар ауеит (Еф. 4:1, 2; 1 Пиотр 3:8). Уи еиҳа иаҳзымариахоит, дара еиӷьны ҳрабадырлар. Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык.

17. Иарбан хәарҭоу араион ахылаԥшҩык изаанагаз иашьак еиҳа еиӷьны дахьиабадырыз?

17 Мрагыларатәи Африка иатәу араион ахылаԥшҩы иашьак иӡбахә еиҭеиҳәеит. Игәаанагарала уи аиашьа аҟазшьа бааԥс иман. Ихы шԥамҩаԥигеи араион ахылаԥшҩы? Иара еиҭеиҳәоит: «Имԥан сықәымлар еиҳа исзеиӷьуп ҳәа ахәыцра аҭыԥан, уи аиашьа еиҳа еиӷьны сиабадырырц сыӡбеит». Араион ахылаԥшҩы уи ицхрааит аиашьа ихигахьоу иҟазшьа ишанырыз аилкаара. Иара иациҵоит: «Уи аиашьа данхәыҷыз иларааӡоз иҽеимыз аҟазшьақәа аанижьырц азы ихы шаҟа аус адиулалар акәыз анеилыскаа шаҟа иҽиԥсаххьоу збеит, насгьы пату иқәҵара салагеит. Ҳара ҳаиҩызцәа бзиақәахеит». Ииашаҵәҟьаны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны реилкаара ҳанашьҭоу, бзиа рбара еиҳа иаҳзымариахоит.

18. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар бзиоу, ҳгәы ҳдырхьзар? (Ажәамаанақәа 26:20).

18 Зны-зынла ҳзыргәааз аиашьа иацәажәатәуп ҳәа ҳгәы иаанагозар ауеит. Аха раԥхьа ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Аҭагылазаашьа бзиаҵәҟьаны еилыскаауама? [Ажәам. 18:13]. Иара сгәы сирхьыр иҭахымызҭгьы? [Еккл. 7:20]. Исмыхьӡаци схаҭагьы уи аҩыза агха? [Еккл. 7:21, 22]. Ауаҩы сиацәажәар, аҭагылазаашьа еицәасымтәӡои?» (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 26:20.) Арҭ азҵаарақәа ҳанрызхәыцлак, иҟалап еилаҳкаар, ҳашьа иахь абзиабара аарԥшны, иҟалаз ҳхаҳаршҭыр еиҳа ишеиӷьу.

19. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?

19 Иегова ишаҳаҭцәа бзиа еибабоит. Уи ишьақәнарӷәӷәоит дара Иисус ииашоу иҵаҩцәа шракәу. Ишԥаҳалшо хаҭала зегьы, Иисус ишьҭа ҳхыланы ҳашцаҵәҟьо ааҳарԥшыр? Ҳхы ҳамеигӡакәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара ааҳарԥшуазар, урҭ шынаӡамгьы. Ус еиԥш иҟоу абзиабара анааҳарԥшуа, егьырҭ ауаа ииашоу адинхаҵара ахьыҟоу рбар алшоит, насгьы иҳавагыланы абзиабара Анцәа, Иегова, имаҵ аура иалагар ауеит. Шәааи ииашоу ақьырсианцәа ирҟазшьоу абзиабара еснагь иааҳарԥшлап.

АШӘА 17 «Исҭахуп»

a Аӡәырҩы ауаа абзиабараҵәҟьа шҳабжьоу анырбалак, аҵабырг ахь аинтерес рызцәырҵуеит. Аха ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә зны-зынла бзиа аибабара ҳцәыцәгьоуп. Шәааи ҳалацәажәап избан абзиабара абриаҟара изхадоу, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ахьынаӡам иахҟьаны агхақәа анрыхьуа, Иисус ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.

c Шәахәаԥш 2012 шықәса ноиабр 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Наконец моя жизнь обрела смысл!», адаҟьақәа 13—14 (аурыс).

d Шәахәаԥш 2012 шықәса маи 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Я считал, что жизнь удалась», адаҟьақәа 18—19 (аурыс).

e Ари астатиаҿы аизара аиҳабацәа еилдыргар акәу агәнаҳа ӷәӷәақәа рыӡбахә акәӡам иҳәоу, иаҳҳәап, 1 Коринфаа рахь 6:9, 10 аҿы зыӡбахә ану агәнаҳақәа.

f Ирҳәоит ашәышықәсақәа рышьҭахь раввинк абас иҳәеит ҳәа: «Адунеи зеиқәхом Авраам иеиԥшу ауаа иашақәа рхыԥхьаӡара ҩажәижәаба еиҵазар. Дара ҩажәижәабаҩык ыҟазар, сԥеи сареи — урҭ рҟынтә ҩыџьа ҳауп. Ҩажәаҩык ыҟазар, —сԥеи сареи урҭ ҳреиуоуп. Жәаҩык ыҟазар, — сԥеи сареи урҭ ҳреиуоуп. Ҩыџьа ыҟазар, — уи сԥеи сареи ҳауп. Аӡә иакәзар, — уи сара соуп».