Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 13

Шәхәыҷқәа Иегова ишамҭақәа ирызхьарԥшны иӡбахә рзеиҭашәҳәала

Шәхәыҷқәа Иегова ишамҭақәа ирызхьарԥшны иӡбахә рзеиҭашәҳәала

«Изшада ари зегьы?» (ИС. 40:26).

АШӘА 11 Ашамҭа Анцәа дҳаранакуеит

АХҲӘАА a

1. Ирҭахузеи аҭаацәа рхәыҷқәа рзы?

 ҲАҬЫР зқәу аҭаацәа, ҳара иаҳдыруеит шәара шәхәыҷқәа Иегова деилыркаарц, насгьы бзиа дырбарц шышәҭаху. Аха Анцәа ибара аӡәгьы илшаӡом. Ишԥашәылшо шәхәыҷқәа Иегова дшыҟаҵәҟьоу аилкаареи изааигәахареи шәрыцхраар? (Иак. 4:8).

2. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова иҟазшьақәа рыӡбахә рзеиҭарҳәалар?

2 Ахәыҷқәа Иегова изааигәахарц азы Абиблиа иану дырҵалатәуп (2 Тим. 3:14—17). Аха Иԥшьоу Аҩыра уи азы даҽа знеишьак шыҟоугьы ҳзаанартуеит. Ашәҟәы Ажәамаанақәа аҿы абык иԥа изеиҭеиҳәоит Иегова ишамҭақәа рыӡбахә. Иубарҭоуп аб иԥа дышиҳәо, Анцәа ишамҭақәа ирнубаало иҟазшьақәа ихаимыршҭларц (Ажәам. 3:19—21). Аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова деилыркааларц азы Анцәа ишамҭақәа ирызхьадырԥшлар рылшоит. Ҳара ҳрылацәажәоит уи азы аҭаацәа рхы иадырхәалар рылшо знеишьақәак.

АҴАРА ШԤАДЫРҴАЛАТӘУ АХӘЫҶҚӘА АШАМҬАҚӘА ИРЫЗХЬАРԤШНЫ?

3. Иарбан цхыраароу аҭаацәа рхәыҷқәа ирырҭар рыхәҭоу?

3 Абиблиаҿы иануп «иаҳбарҭам [Анцәа] иҟазшьақәа ишамҭақәа рыла иубарҭоуп. Урҭ ҭаҳҵаауазар, иара дзеиԥшроу еилаҳкаауеит» ҳәа (Рим. 1:20). Аҭаацәа, шәхәыҷқәеи шәареи аԥсабараҿы аамҭа анеицышәхыжәго шәгәаԥхозар ҟалап. Уи аамҭа Иегова ишамҭақәеи зеиԥшыҟам иара иҟазшьақәеи шеидҳәалоу шәхәыҷқәа идшәырбарц азы шәхы иашәырхәала. Уи аҿы шәара ишәыцхраауеит Иисус иҿырԥшы.

4. Ихы ишԥаирхәоз Иисус Анцәа ишамҭақәа ауаа ак аныдирҵоз? (Лука 12:24, 27—30).

4 Ихы ишԥаирхәоз Иисус Анцәа ишамҭақәа ауаа ак аныдирҵоз? Ҽнак иара иҵаҩцәа иреиҳәеит аҟәраанқәеи ашәҭқәеи ирыхәаԥшырц. (Шәаԥхьа Лука 12:24, 27—30.) Ҳәарада, Иисус даҽа ԥстәык, ма даҽа ҵиаак аӡбахә иҳәар илшон, аха изыӡырҩуаз ауаа ибзианы ирдыруаз аҵыси ашәҭи алихит. Иара иҵаҩцәа ажәҩан иалаз аҟәраанқәа, насгьы адәқәа рҿы ишәҭуаз ашәҭқәа рбар рылшон. Шәхаҿы иаажәг Иисус урҭ инапы рықәкны ишыдирбо. Аха иҟаиҵазеи иара урҭ ашамҭақәа рыӡбахә аниҳәа ашьҭахь? Изыӡырҩуаз ауаа жәҩантәи Ҳаб агәыҭбаареи ақьиареи шилоу реилиркааит. Иегова аҟәраанқәеи ашәҭқәеи дшырхылаԥшуа еиԥш, гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәагьы акрырҿеиҵалоит, иагьеилеиҳәалоит.

5. Иарбан шамҭақәоу аҭаацәа рхәыҷқәа зызхьадырԥшлар рылшо, Иегова иӡбахә рзеиҭарҳәаларц азы?

5 Аҭаацәа, ишԥашәылшо шәхәыҷқәа ак аныдшәырҵо Иисус шәиҿыԥшлар? Иаҳҳәап, бзиа ижәбо ԥстәык ма ҵиаак аӡбахә шәхәыҷы иашәҳәа, насгьы уи Иегова изкны ишәеилнаркааз изеиҭашәҳәа. Уи ашьҭахь шәхәыҷы бзиа иибо ԥстәык ма шәҭык аӡбахә шәиазҵаа. Шәхәыҷы игәаԥхо акы шәицалацәажәозар, иаргьы Иегова иӡбахә анизеиҭашәҳәало, ибзианы дышәзыӡырҩлоит.

6. Иаҳнарҵозеи Кристофер иан лҿырԥшы?

6 Ирыԥшаалар аума аҭаацәа ԥстәык ма ҵиаак иазкны ирацәаны аинформациа, уи Иегова изкны иҳаилнаркаауа рхәыҷқәа ирзеиҭарҳәарц азы? Уи аҭахымхаргьы алшоит. Иисус аҟәраанқәа рыкрыфашьеи ашәҭқәа реизҳашьеи атәы далалацәаны еиҭеиҳәаӡомызт. Ҳәара аҭахума, шәхәыҷы аԥсабара иазку иҵаулоу адыррақәа игәаԥхозаргьы алшоит. Аха ак ишәырҵарц азы жәақәаки зҵаараки азхаргьы ауеит. Абар Кри́стофер ихәыҷра иазкны ииҳәо: «Ҳан зеилкаара мариаз ажәақәа рыла иааҳакәыршаны иҟаз Анцәа ишамҭақәа ҳрызхьалырԥшуан. Иаҳҳәап, ашьхақәа рзааигәара ҳаныҟаз, лара илҳәон: „Шаҟа иҳаракузеи арҭ ашьхақәа! Иегова зеиԥшыҟам Сахьаҭыхҩуп, ус ауми?“ Мамзаргьы аокеан аԥшаҳәаҿы ҳаныҟаз лара илҳәон: „Шәрыхәаԥш арҭ ацәқәырԥақәа шаҟа идуу! Анцәа амч ду имоуп, ус ауми?“». Кристофер иациҵоит: «Имариаз, аха аҵакы ӷәӷәа змаз ҳан лажәақәа ҳдырхәыцуан».

7. Ишԥашәылшо шәхәыҷқәа Анцәа ишамҭақәа рызхәыцшьа дшәырҵар?

7 Шәхәыҷқәа ирызҳацыԥхьаӡа Иегова ишамҭақәа ирызхәыцларц, насгьы урҭ Анцәа изкны идеилнаркаауа иазхәыцларц дшәырҵала. Иаҳҳәап, Анцәа ишамҭак алхны ахәыҷы шәиазҵаа: «Иунарҵозеи ари Иегова изкны?» Ахәыҷы ишәиҭо аҭак џьашәшьар алшоит (Матф. 21:16).

ИАНБА, НАСГЬЫ ИАБАДЫРҴАЛАТӘУ АХӘЫҶҚӘА АҴАРА, АШАМҬАҚӘА ИРЫЗХЬАРԤШНЫ?

8. Иарбан лшарақәоу израильтәи аҭаацәарақәа ироуаз, рхәыҷқәа рыманы амҩа ианықәыз?

8 Иегова израильтәи аҭаацәарақәа иреиҳәеит, аҩны ианыҟоу адагьы, амҩа ианықәугьы рхәыҷқәа иԥҟарақәа рыӡбахә рзеиҭарҳәаларц (Ҩынтә. 11:19). Израиль иҟаз амҩақәа ақыҭа иалганы иган. Уа иубар алшон еиуеиԥшымыз аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, ашәҭқәеи. Израильтәи аҭаацәарақәа амҩа ианықәыз, Иегова ишамҭақәа рыӡбахә рхәыҷқәа рзеиҭаҳәара алшара роуан. Шәаргьы, ҳаҭыр зқәу анацәеи абацәеи, урҭ рҩызцәа алшарақәа шәымазар ҟалап. Шәааи ҳалацәажәап ҭаацәарақәак иҟарҵо.

9. Ирҿышәҵаар шәылшозеи Пунитеи Катиеи?

9 Индиа иҟоу ақалақь ду аҿы инхо Пуни́та илҳәоит: «Ҳҭынхацәа рахь ақыҭарахь ҳанцо, уи ҳхы иаҳархәоит иџьашьахәу Иегова ишамҭақәа ҳхәыҷқәа идҳарбаларц азы. Сгәы иаанагоит, ауаа ахьырацәам, иҭынчроу аҭыԥ аҿы схәыҷқәа ашамҭақәа ргәаҭареи рызхәыцреи еиҳа ирзымариоуп ҳәа». Аҭаацәа, шәхәыҷқәа, иҟалап ахаан ирхамышҭыр аԥсабарахь шәрыцны шәанцоз аамҭақәа. Молдова иатәу Катиа илҳәоит: «Схәыҷра аамҭа анысгәалашәо, еиҳараӡак сгәы зырԥхо ҳҭаацәеи ҳареи аԥсабарахь ҳанцоз аамҭа ауп. Сара урҭ ҭабуп ҳәа расҳәоит, зынӡа саныхәыҷыз инаркны сааҭгыланы Иегова иишаз агәаҭашьа ахьысдырҵаз, насгьы убас Анцәа еиҳа еиӷьны иеилкаара иахьсыцхрааз».

Ақалақь ду аҿгьы ишәыԥшаар шәылшоит шәхәыҷқәа Иегова илоу аҟазшьақәа зладшәырбалаша ашамҭақәа. (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Иҟарҵар рылшозеи аҭаацәа, рхәыҷқәа рыманы аԥсабарахь изымцозар? (Шәахәаԥш арамка « Аҭаацәа рзы».)

10 Аха иҟашәҵар шәылшозеи, аԥсабарахь шәзымцозар? Индиа инхо Амо́л иҳәоит: «Сара сахьынхо аҭыԥ аҿы аҭаацәа ирацәаны аус руеит, насгьы аԥсабарахь ацаразы аԥара рацәаны иаҭахуп. Аха баҳча хәыҷык аҿы, ма ҳбарҵаҿы ҳтәангьы Иегова ишамҭақәа рыхәаԥшра, насгьы иҟазшьақәа рызхәыцра ҳалшоит». Шәара ибзианы шәнаԥшааԥшыр, игәашәҭоит, шәхәыҷқәа идшәырбар шәылшо Иегова ишамҭақәа рацәаны шәыҩны азааигәара ишыҟоу (Аԥсал. 104:24). Иҟалап шәара ижәбар аҵарақәа, ахәаҷа-маҷақәа, аҵиаақәа, уҳәа убас иҵегьы. Германиа иатәу Карина илҳәоит: «Саныхәыҷыз, сани сареи ныҟәара ҳандәылҵуаз, есымша ашәҭ-ԥшӡақәа срызхьалырԥшуан, избанзар лара урҭ бзиа илбоит». Уи адагьы, аҭаацәа ирымоуп Иегова иорганизациа иҭнажьыз Анцәа ишамҭақәа ирызку ирацәаны авидеонҵамҭақәеи астатиақәеи. Ҳаҭыр зқәу аҭаацәа, шәхы иашәырхәома шәара урҭ? Шәара шәҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы, шәхәыҷқәа Анцәа ишамҭақәа ргәаҭашьа дшәырҵар шәылшоит. Уажәшьҭа шәааи ҳалацәажәап, шәхәыҷқәа зызхьашәырԥшыр шәылшо Иегова иҟазшьақәак.

«ИАҲБАРҬАМ [АНЦӘА] ИҞАЗШЬАҚӘА... [У]БАРҬОУП»

11. Иҟарҵалар рылшозеи аҭаацәа, рхәыҷқәа Иегова бзиа ишибо агәаҭара ирыцхрааларц азы?

11 Шәхәыҷқәа Иегова бзиа ишибо рбарц азы, аԥстәқәа рхәыҷқәа шырааӡо иазхьашәырԥшлар шәылшоит (Матф. 23:37). Уи адагьы, иазгәашәҭар шәылшоит ашамҭақәа рыхкқәа шаҟа ирацәоу. Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Карина илҳәоит: «Сани сареи ҳауак ҳфарц ҳандәылҵуаз саангыланы ашәҭқәа срыхәаԥшырц салҳәон. Уи адагьы, лара исалҳәон ашәҭқәа шаҟа еиԥшым, насгьы уи Иегова ибзиабара шанубаало сазхәыцларц. Ашықәсқәа цеит, сара иахьа уажәраанӡагьы ашәҭқәа рыхәаԥшра бзиа избоит. Дара шаҟа хкы рацәала иҟоу, насгьы рыԥшӡара саршанхоит. Урҭ иахьагьы исгәаладыршәоит Иегова ӷәӷәала бзиа ҳшибо».

Шаҟа џьашьахәыла ҳаиҿартәоу шәхәыҷқәа ирзеиҭаҳәо, Анцәа дышҟәыӷоу дшәырбалар шәылшоит. (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ирыцхраар шԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа Анцәа дышҟәыӷоу аилкаара? (Аԥсалом 139:14). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Шәхәыҷқәа Иегова дышҟәыӷоу аилкаара шәрыцхраа. Иегова ҳара ҳаасҭа акырӡа дҟәыӷоуп (Рим. 11:33). Уи аҵышәшьырц азы абас шәҳәар шәылшоит: «Урыхәаԥш аԥҭақәа. Урҭ аӡы ала ауп излашьақәгылоу, аха шаҟа ирласны еиҭаҵуазеи ажәҩан аҿы!» (Иов 38:36, 37). Иара убас шәхәыҷқәа ирзеиҭашәҳәар шәылшоит, ауаҩы шаҟа џьашьахәыла деиҿартәоу. (Шәаԥхьа Аԥсалом 139:14.) Абар Владимир уи шыҟаиҵаз: «Ҽнак зны ҳаҷкәын амаланыҟәа аҟынтә дкаҳан, ишьамхы иҟәаҟәеит. Мышқәак рышьҭахь ишьамхы ӷьеит. Сыԥшәмеи сареи изеиҭаҳҳәеит, Иегова ҳахәрақәа рхала иӷьалартә еиԥш ҳшишаз. Ҳара ҳхәыҷы иаҳҳәеит ауаҩы уи аҩыза шизыҟамҵо. Иаҳҳәап, амашьына ԥҽыр, иҿыцӡа ахала изыҟалаӡом. Уи ҳхәыҷы ицхрааит Иегова дышҟәыӷоу аилкаара».

13. Ишԥарылшо аҭаацәа Анцәа имч рхәыҷқәа ирбартә рыцхраара? (Исаиа 40:26).

13 Иегова ҳхы шьҭыхны ажәҩан ҳаҵаԥшырц, насгьы аеҵәақәа зегь рхатә ҭыԥқәа рҿы иҟазарц азы имоу амч ҳазхәыцырц ҳаиҳәоит. (Шәаԥхьа Исаиа 40:26.) Шәхәыҷқәеи шәареи ажәҩан шәаҵаԥшны уа ирбо шәалацәажәар шәылшоит. Таивань инхо Тинти́н зыхьӡу аиаҳәшьа лхәыҷра лгәаларшәаны илҳәоит: «Ҽнак зны сани сареи ныҟәара ҳцеит. Уахынла ақалақь алашарақәа ахьыуԥырхагам аҭыԥ аҿы еҵәала ихҩаз ажәҩан ҳаҵаԥшуан. Уи апериод аан ашкол аҿы аӡәгьы сиҭахымшәа схы збон, насгьы Анцәа гәыкала имаҵ сзымулар ҳәа сшәон. Сан сгәазҭалҵеит Иегова арҭ аеҵәақәа зегь ишарц азы имоу амч сазхәыцырц. Лара агәра слыргеит иарбан уадаҩразаалакгьы сзықәшәо, Иегова имч сара дсыцхраарц азгьы ихы иаирхәар шилшо. Уи ауха аеҵәақәа санрыхәаԥш ашьҭахь, Иегова еиҳа еиӷьны иеилкаареи имаҵ ауреи еиҳагьы исҭаххеит».

14. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа иддырбар, Иегова насыԥ змоу Анцәа шиакәу?

14 Иегова ишамҭақәа иаҳдырбоит иара агәырӷьара змоу Анцәа шиакәу, насгьы аччареи-ахәмарреи шилоу. Аҵарауаа игәарҭеит аԥстәқәа реиҳарак, аҵарақәагьы аԥсыӡқәагьы уахь иналаҵаны, ахәмарра бзиа ишырбо (Иов 40:20). Ишәгәалашәозар акәхап шәхәыҷқәа аԥстәқәа ирыхәаԥшны ианыччоз. Иҟалап шәара ижәбахьазар ацыгә хәыҷы аԥага рахәыц ишалахәмаруа, ма аласбақәа шеихәмаруа. Шәхәыҷқәа даҽазны ԥстәык иахәаԥшны ианыччало, иргәалашәыршәа, ҳара насыԥ змоу Анцәа имаҵ шаҳуа (1 Тим. 1:11).

ҬААЦӘАНЫЛА ИЕГОВА ИШАМҬАҚӘА ШӘРЫЛАГӘЫРӶЬАЛА

Аԥсабараҿы ахәыҷқәа ацәажәареи ргәы иҵхо аҳәареи еиҳа иазхиазар ауеит. (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Ирыцхраар алшозеи аҭаацәа рхәыҷқәа ргәы иҭоу аилкаара? (Ажәамаанақәа 20:5). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Зны-зынла аҭаацәа игәарҭоит рхәыҷы ак шихьыз, аха игәы иҭоу аилкаара рцәыуадаҩуп. Шәара уи аҩыза аҭагылазаашьа шәақәшәазар, ахәыҷы игәы иҭоу аилкааразы ак ҟашәҵароуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 20:5.) Ҭаацәарақәак игәарҭеит уи аҟаҵара еиҳа ишымариоу рхәыҷқәеи дареи аԥсабараҿы рыԥсы аныршьо. Избан? Избанзар уаҟа ахәыҷқәеи аҭаацәеи акгьы рԥырхагаӡам. Масахи́ко зыхьӡу Таивань инхо аиашьа даҽа мзызкгьы азгәеиҭоит: «Ҳхәыҷқәеи ҳареи аҳауа цқьаҿы ҳаԥсы анаҳшьо — ашьха ҳанцо, ма аҟәараҿы ҳанныҟәо — дара еиҳа ацәажәара иазхиоуп. Уи абзоурала ҳара урҭ ргәы иҭоу аилкаара ҳзымариоуп». Хыхь зажәақәа аагаз Катиа илҳәоит: «Ашкол ашьҭахь сани сареи лассы-лассы иԥшӡаз абаҳчахь ҳцон. Уаҟа ҳара аӡәгьы даҳԥырхагаӡамызт, убри аҟынтә ашкол аҿы сзықәшәаз, насгьы сгәы иҵхоз аиҭаҳәара еиҳа исзымариан».

16. Ишԥарылшо аҭаацәарақәа Иегова ишамҭақәа ахьырацәоу аԥсабараҿы рыԥсы ршьалар, насгьы аамҭа еицырхыргалар?

16 Аҭаацәарақәа ирылшоит Иегова ишамҭақәа рацәаны иахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы аамҭа еицырхыргалар, насгьы рыԥсы еицыршьалар. Уи аҭаацәара еиднакылоит. Абиблиаҿы иануп «аччара аамҭеи... акәашара аамҭеи» шыҟоу (Еккл. 3:1, 4). Иегова бзиа иаҳбо аусқәа ҳарҿызар ахьҳалшо аҭыԥ ԥшӡақәа рацәаны ишеит. Ирацәаны аҭаацәарақәа иргәаԥхоит абнаҿы аныҟәара, ашьха ахалара, ма амшын аҿықә аҿы аԥсшьара. Ахәыҷқәа бзиа ирбоит абаҳчаҿы аҩреи ахәмарреи, аӡиас аҿы аҽыкәабареи, аԥстәқәа рыхәаԥшреи. Аҭаацәарақәа аԥсабараҿы ибзианы аамҭа рхыргаларц азы алшарақәа рацәаны ирымоуп. Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи иааҳакәыршаны иҟоу Иегова ишамҭақәа рылагәырӷьара!

17. Избан аҭаацәа рхәыҷқәа Анцәа ишамҭақәа рылагәырӷьашьа ддырҵалар зрыхәҭоу?

17 Адунеи ҿыц аҿы аҭаацәеи ахәыҷқәеи Иегова ишамҭақәа ирылагәырӷьаларц азы алшарақәа рацәаны ирымазаауеит. Ҳара аԥстәқәа ҳрыцәшәалаӡом, даргьы ҳара иҳацәшәалаӡом (Ис. 11:6—9). Ҳара Иегова ҳамҭас иҳаиҭаз зегьы ҳахәаԥшларц азы аамҭа рацәаны иҳамазаауеит (Аԥсал. 22:26). Аха аҭаацәа, адунеи ҿыц шәазымԥшын — уажәнатә шәхәыҷқәа Анцәа ишамҭақәа ирылагәырӷьаларц дшәырҵала, насгьы урҭ рыӡбахә рзеиҭашәҳәала. Убасҟан шәхәыҷқәа иҟалап аҳ Давид иажәақәа ирықәшаҳаҭхар: «Иегова, уара уусқәа акы иузаҿырԥшуам!» (Аԥсал. 86:8).

АШӘА 134 Ахшара — Иегова иҟынтә аҭынха

a Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы рҭаацәа-ақьырсианцәа ирыцны аԥсабарахь ианцоз аамҭақәа аныргәалашәо, ргәы ԥхаррак ныҵалоит. Дара уажәгьы ирхамышҭӡацт ианыхәыҷқәаз рҭаацәа Иегова иӡбахә рзеиҭарҳәаларц азы ус еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа рхы ишадырхәоз. Шәара ахәыҷқәа шәымазар, ишԥашәылшо Анцәа ишамҭақәа ирызхьашәырԥшлар, урҭ еиҳа еиӷьны Анцәа иҟазшьақәа еилыркааларц азы? Шәааи уи ҳалацәажәап.