АҴАРАЗЫ АСТАТИА 13
АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу
Агәра ганы шәыҟазар шԥашәылшо Иегова дшышәзыразу?
«Сара сузыразуп» (ЛУКА 3:22).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова бзиа ҳшибо, насгьы дшаҳзыразу ҳхы агәра аҳаргар шҳалшо.
1. Иарбан цәаныррақәоу ирызцәырҵуа Иегова гәыкала имаҵ зуа шьоукы?
ҲАРА агәра ганы ҳаҟоуп Иегова имаҵзуҩцәа гәыԥк еиԥш дшырзыразу. Абиблиаҿы иануп: «Иегова ижәлар данрыхәаԥшуа, дгәырӷьоит» (Аԥсал. 149:4). Аха зны-зынла ҳгәы каҳаны абас ҳхәыцуазар алшоит: «Дысзыразума Иегова сара хаҭала?» Абиблиаҿы иануп Иегова гәыкала имаҵ зуаз, аха зны-зынла абас еиԥш ахәыцрақәа зызцәырҵуаз ауаа рыӡбахә (1 Сам. 1:6—10; Иов 29:2, 4; Аԥсал. 51:11).
2. Иҟаҳҵар акәзеи, Иегова даҳзыразхарц азы?
2 Абиблиа иаҳнарбоит Иегова инаӡам ауаа дырзыразхар шалшо. Иҟаҵатәузеи уи азы? Уи азы Иисус Христос иахь ахаҵара еизҳарҳароуп, аӡгьы ҳаҽӡааҳхроуп (Иоанн 3:16). Уи ала иааҳарԥшуеит ҳагәнаҳақәа ҳашрыхьхәыз, насгьы Анцәа игәҭакы шынаҳагӡало ала ажәа шиаҳҭаз (Аус. 2:38; 3:19). Иегова игәы иахәоит ҳаиҩызахарц азы арҭ ашьаҿақәа аныҟаҳҵо. Иегова ҳҽанизаҳкыз иаҳҭаз ажәа ҳазиашанаҵы Иегова даҳзыразызаауеит, насгьы иҩызцәа гәакьақәаны ҳиԥхьаӡалоит (Аԥсал. 25:14).
3. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
3 Избан шьоукы зны-зынла Иегова дырзыразымшәа зырбо? Агәра шԥаҳирго Анцәа дшаҳзыразу? Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иҵегь иаҳзырбо Иегова дшаҳзыразу?
ШЬОУКЫ ИЕГОВА ДШЫРЗЫРАЗУ АГӘРА АГАРА ЗЫРЦӘЫЦӘГЬОУ
4, 5. Ргәы зырҭынчыр алшозеи акгьы иаԥсамшәа зхы збо ауаа?
4 Ақьырсианцәа шьоукы ихәыҷаахыс акгьы иаԥсамшәа рхы рбоит (Аԥсал. 88:15). Адриа́н зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Схы ааздыруеижьҭеи акгьы саԥсамызшәа схы збон. Саныхәыҷыз, сҭаацәа адунеи ҿыц аҿы инхаларц азы Анцәа сиҳәон, аха сара уи саԥсамызшәа збон». Абар То́ни зыхьӡу даҽа иашьак ииҳәо. Иара иҭаацәа Иегова ишаҳаҭцәа ракәӡамызт. Тони иҳәоит: «Сани саби ахаан бзиа сшырбо сарҳәаӡомызт, насгьы сдырҽхәаӡомызт. Урҭ ргәы аҟаҵара даара ицәгьан, егьа ҟасҵаргьы иргәаԥхаӡомызт».
5 Акгьы ҳаԥсамшәа ҳхы ҳбозар, Иегова ус дшаҳмыхәаԥшуа ҳгәалаҳаршәалар бзиоуп. Иара иоуп иареи ҳареи ҳаиҩызцәахарц ҳаазыԥхьаз (Иоанн 6:44). Иҟалап ҳара шаҟа абзиара ҳалоу ҳзымдыруазар. Аха Иегова ҳгәы ибоит (1 Сам. 16:7; 2 Аш. 6:30). Иегова абзиабара ҳаԥсаны ҳиԥхьаӡозар, ҳара игәра ҳгалар ҳалшоит, даҽакала ахәыцразы амзызқәа ҳамаӡам (1 Иоанн 3:19, 20).
6. Ихы шԥеибоз апостол Павел иҟаиҵахьаз агәнаҳақәа ирыхҟьаны?
6 Шьоукы аҵабырг еилыркаанӡа иҟарҵаз агәнаҳақәа рзы уажәгьы рхы ахара адырҵоит (1 Пиотр 4:3). Гәыкала Анцәа имаҵ зуа ақьырсианцәагьы иҽеим агәаҳәарақәа рызцәырҵуеит. Ишәықәыӡбома шәара шәгәы? Ус анакәха, шәгәы арҭынчыр алшоит гәыкала Иегова имаҵ зуаз ақьырсианцәагьы урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа ахьрызцәырҵуаз. Ҿырԥштәыс дааҳгап апостол Павел. Игхақәа ирыхҟьаны иара акгьы даԥсамшәа ихы ибон, насгьы «агәаҟ, сара» ҳәа ихы иазиҳәон (Рим. 7:24). Ааи, Павел игәнаҳақәа дрыхьхәит, насгьы аӡы иҽӡааихит. Аха уеизгьы апостолцәа зегьы дреиҵоуп ҳәа иԥхьаӡон, «агәнаҳаҟаҵаҩцәа... зегь раԥхьа игылоу сара соуп» ҳәагьы иҳәон (1 Кор. 15:9; 1 Тим. 1:15).
7. Иаҳгәалашәозар акәзеи, гәнаҳак ҟаҳҵазар?
7 Жәҩантәи Ҳаб зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа рыгәнаҳақәа шранаижьуа иақәиргәыӷуеит (Аԥсал. 86:5). Убри аҟынтә гәыкала ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәуазар, Иегова игәра ҳгар ҳалшоит: иара ишәанасыжьит ҳәа иҳәазар, иҳанаижьҵәҟьеит (Кол. 2:13).
8, 9. Иҟаҳҵар ҳалшозеи, Иегова изы иҟаҳҵо маҷаҳшьозар?
8 Ҳара зегьы иаҳҭахуп Иегова имаҵ аураҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵалар. Аха шьоукы иҟарҵо маҷыршьоит, убри аҟынтә Иегова ахаангьы дырзыразхаӡом ҳәа ргәы иаанагоит. Ама́нда зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сара сзы Иегова иреиӷьу иҭара иаанаго иҟасҵо аасҭа инацҵаны аҟаҵара ауп. Зны-зынла сҿаԥхьа исзынамыгӡо ахықәкқәа ықәсыргылоит, насгьы исылшо акәымкәа, исылымшо ҟасҵарц сҽазысшәоит. Уи анысзалымҵлак, сгәы каҳауеит, Иеговагьы игәы каҳауазшәа збоит».
9 Иҟаҳҵар ҳалшозеи, Иегова изы иҟаҳҵо маҷаҳшьозар? Ишәхашәмыршҭлан Иегова ишәылымшо дшазыԥшым. Иара дыззыԥшу шәымч зықәхо ауп. Иегова игәы иахәоит ишәылшо зегь аныҟашәҵо, уи маҷзаргьы. Иара убас шәазхәыц Иегова изы зхы иамеигӡакәа аџьабаа збоз ақьырсианцәа рҿырԥшы. Иаҳҳәап, Павел. Иара акыршықәса гәыкала Иегова имаҵ иуан, илшоз зегь ҟаиҵон. Иара еиуеиԥшым аҭыԥқәа дырҭааит, аизарақәа рацәаны еиҿикааит. Аха зны-зынла иҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахуан, шаҟа иҭахызгьы ажәабжь изҳәаӡомызт. Иаанагозма уи Иегова дизыразӡамызт ҳәа? Ҳәарада, мап. Павел илшоз зегь ҟаиҵон, Иеговагьы дизылԥхон (Аус. 28:30, 31). Ҳҭагылазаашьақәагьы рҽырыԥсахлар алшоит. Иахьа Иегова изы ирацәаны иҟаҳҵозар ауеит, уаҵәы — уи ҳалымшар ҟалоит. Аха ихадоу уи акәӡам. Иегова изы ихадоу иҟаҳҵо зыҟаҳҵоу ауп. Уажәшьҭа шәааи ҳалацәажәап Иегова дшаҳзыразу злаҳирбо.
АГӘРА ШԤАҲИРГО ИЕГОВА ДШАҲЗЫРАЗУ?
10. Ишԥаҳалшо Иегова дшаҳзыразу «ҳаҳар»? (Иоанн 16:27).
10 Абиблиа ала. Иегова игәаԥхоит имаҵзуҩцәа дшырзыразу, бзиа ишибо раҳәара. Абиблиаҿы ҩынтә иануп Иегова Иԥа абас шизиҳәаз: «Ари бзиа избо, сыззыразу Сԥа иоуп» (Матф. 3:17; 17:5). Ишәҭахума шәаргьы Иегова дшышәзыразу шәеиҳәар? Иахьа Иегова ажәҩан аҟынтә дҳацәажәаӡом, иара дызлаҳацәажәо Абиблиа ала ауп. Иегова дшаҳзыразу шиҳәо «ҳаҳар» ҳалшоит Аевангелиеқәа рҿы Иисус иажәақәа ҳанрыԥхьо. (Шәаԥхьа Иоанн 16:27.) Иара еснагь Иаб ихы шимҩаԥиагарыз еиԥш ауп ихы шымҩаԥигоз. Иисус иҵаҩцәа наӡаӡамызт, аха гәыкала Иегова имаҵ руан. Уи азы Иисус урҭ ирҽхәон, дшырзыразыз реиҳәон. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәоз ҳанаԥхьо, Иегова уи хаҭала ҳара иҳаиҳәозшәа ҳхаҿы иааҳгалар ҳалшоит (Иоанн 15:9, 15).
11. Избан, аԥышәарақәа ҳрықәшәазар, Иегова даҳзыразӡам ҳәа ахәыцра зиашам? (Иаков 1:12).
11 Иҳаиҭо ацхыраара ала. Иегова еснагь ҳзызгәаҟуа ацхыраара ҳаиҭоит. Иаҳҳәап, иара аԥсҭазааразы иаҭаху зегь ҳаиҭоит. Аха убри аамҭазгьы ауадаҩрақәа ҳарцәихьчаӡом. Убри аҟынтә, Иов иеиԥш, агәаҟра ҳақәшәар ауеит (Иов 1:8—11). Аха аԥышәарақәа ҳрықәшәазар, уи иаанагаӡом Иегова даҳзыразӡам ҳәа. Аԥышәарақәа алшара ҳарҭоит Иегова шаҟа бзиа даҳбо, шаҟа игәра ҳго аарԥшра. (Шәаԥхьа Иаков 1:12.) Иара убас аԥышәарақәа раан Иегова еиҳа еиӷьны деилаҳкаар ҳалшоит. Ҳара иаҳбоит иара аԥышәара ахгара дышҳацхраауа, иагьеилаҳкаауеит иара бзиа ҳазбо, хзықәгәыӷыр ҳалшо Анцәа шиакәу.
12. Иаҳнарҵозеи Дмитри иҭоурых?
12 Еилҳаргап Дмитри зыхьӡу иашьак дзықәшәаз ахҭыс. Зны иара усурада даанхеит. Акыраамҭагьы аусура ҿыц изыԥшаауамызт. Иара Иегова дишиқәгәыӷуа иирбар иҭахын азы, еиҳаны Иегова имаҵ иуларц иӡбеит. Ицон амзақәа, аха аусурҭа изыԥшаауамызт. Уи инеиҳангьы, Дмитри ачымазара ӷәӷәа ихьын дышьҭахеит. Иара акгьы даԥсамшәа игәы иабо далагеит, аҭаацәара ахада иеиԥш, насгьы абык иеиԥш идыз аҭакԥхықәрақәа изынамыгӡошәа ибон, Иеговагьы уажәшьҭа дизыразымзар ҟалап ҳәа игәы иаанагон. Уахык зны иԥҳа хәыҷы иуада дыҩналан, қьаадк илыркит. Уа икьыԥхьны ианын Исаиа 30:15 аҿы иҳәоу ажәақәа: «Шәара мчыс ишәымоу иаашәырԥшуа аҭынчреи сара сахь ишәымоу агәрагареи роуп». Лара уи абӷьыц ииарҭа инықәылҵан, ус иалҳәеит: «Папа, угәы анкаҳауа, абарҭ ажәақәа угәаларшәала». Дмитри еиликааит Иегова рҭаацәара дшеиҷаҳауаз. Дара ирфашаз, иршәырҵашаз, иахьынхашаз рыман. «Иаҭахыз — аҭынчра аарԥшреи Иегова игәра агареи роуп», — иҳәоит Дмитри. Шәаргьы уи аҩыза ауадаҩра шәҭагылазар, Иегова игәра жәгала. Иара уи ауадаҩра ахгара дшәыцхраауеит.
13. Иаҳирбар шԥалшо Иегова дшаҳзыразу?
13 Ҳаиашьара ала. Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла дшаҳзыразу агәра ҳиргоит. Иаҳҳәап, иара аӡәы игәазҭеиҵар алшоит ианаамҭоу ҳгәы шьҭызхуа ажәақәа рҳәара. Азиа инхо ҳаҳәшьа уи ус шакәу лхатә ԥышәала агәра лгеит. Раԥхьа лара аусурҭа лцәыӡит. Анаҩс ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Дук мырҵыкәа лхаҵа агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит, уаҳагьы аизара ахылаԥшҩыс амаҵ изуӡомызт. Лара илҳәоит: «Сара исзеилкааӡомызт абри зегь сзақәшәаз». Лара ус дхәыцуан: «Иакәым ак ҟасҵазар ҟалап, убри азоуп Иегова уаҳа дзысзылымԥхо». Лара дӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова диҳәон дшылзыразу лирбарц азы. Ишԥаҟаиҵеи Иегова лыҳәара аҭак? Лара илҳәоит: «Аизара ахылаԥшыҩцәа сгәы шьҭырхит, насгьы Иегова бзиа сшибо агәра сдыргеит». Ԥыҭрак ашьҭахь лара еиҭах Иегова лгәы шьҭихырц диҳәеит. Лара илҳәоит: «Убри аҽныҵәҟьа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә асаламшәҟәы соуит, уа ианыз ажәа хаақәа, ажәа ԥхақәа санрыԥхьоз, Иегова сыҳәара аҭак шыҟаиҵаз еилыскааит». Ари ахҭыс ишаҳнарбо еиԥш, Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла дшаҳзыразу ҳирбоит (Аԥсал. 10:17).
14. Ишԥаҳирбо иҵегьы Иегова дшаҳзыразу?
14 Иегова дшаҳзыразу злаҳирбо даҽакгьы ыҟоуп. Иара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи алабжьара ҳарҭарц ргәазҭеиҵар ауеит. Иаҳҳәап, актәи ашәышықәсазы Иегова Павел игәазҭеиҵеит иашьцәеи иаҳәшьцәеи 14 саламшәҟәы рзиҩырц. Урҭ асламшәҟәқәа рҿы Павел иаартны, аха убри аамҭазгьы хаала ақьырсианцәа алабжьарақәа риҭеит. Избан Иегова Павел ус аҟаҵара игәы зазҭеиҵаз? Избанзар Иегова Аб бзиа иоуп. Иара ихәыҷқәа бзиа ибоит, убри азы иааӡоит (Ажәам. 3:11, 12). Ус анакәха, Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара анҳауа, ҳгәы акажьра аҭыԥан ҳгәырӷьалароуп, избанзар уи ала Иегова дшаҳзыразу ҳирбоит (Аур. 12:6). Иҟоума Иегова дшаҳзыразу ҳзырбо егьырҭ ашьақәырӷәӷәарақәа?
ИЕГОВА ДШАҲЗЫРАЗУ ҲЗЫРБО ЕГЬЫРҬ АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРАҚӘА
15. Изиҭода Иегова иԥшьоу идоуҳа, насгьы зыгәра ҳнаргозеи уи?
15 Иегова дыззыразу иԥшьоу идоуҳа риҭоит (Матф. 12:18). Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Иаасырԥшуама сара иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа?» Иаҳҳәап, игәашәҭома шәара раԥхьа аҵабырг анеилышәкааз аасҭа уажәы ачҳара аарԥшра еиҳа ишышәзымариоу? Иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа шаҟа еиӷьны иааҳарԥшуа аҟара, убри аҟарагьы Иегова дшаҳзыразу ҳбалоит. (Шәахәаԥш арамка « Иарбан ҟазшьақәоу иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа?».)
16. Знапы ианиҵада Иегова ажәабжь бзиа? Иарбан цәаныррақәоу уи ишәызцәырнаго? (1 Фессалоникаа 2:4).
16 Иегова дыззыразу ауаа ажәабжь бзиа рнапы ианиҵеит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа 2:4.) Џьо́селин зыхьӡу аиаҳәшьа уи ус шакәу агәра лгеит. Шьыжьымҭанк лара лгәы каҳаӡаны дааԥшит. Лара илҳәоит: «Сара аӡәы ицхрааразы амч ҳәа ак сымамызт. Аха пионерс амаҵ зуан. Сҩызеи сареи ажәабжьҳәара ҳаиццарцгьы еибаҳҳәахьан. Убри аҟынтә Иегова сиҳәан, ажәабжьҳәара сцеит». Уи аҽны лара Мери зыхьӡыз ԥҳәыс татак длықәшәеит. Мери Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит. Мызқәак рышьҭахь Мери илҳәеит Џьоселин лышә данасыз аҽны лара Анцәа дышиҳәоз, длыцхраарц азы. Џьоселин илҳәоит: «Сара сгәы ҭгәырӷьаауан. Иегова абас сеиҳәазшәа сгәы иабеит: „Сара сыбзыразуп“». Ҳәарада, ус еиԥш иҟоу ауаа есымша иҳақәшәалаӡом. Аха ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова дышҳаргәырӷьо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит.
17. Еилылкаазеи Викториа, Иисус иԥсхҭынҵара даназхәыц? (Аԥсалом 5:12).
17 Иегова Иисус иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны дыззыразу рыгәнаҳақәа ранаижьуеит (1 Тим. 2:5, 6). Аха иҟашәҵар шәылшозеи Иисус иԥсы ҳахҭынҵаны ҳашҿихыз агәра шыжәгогьы, аӡы шәыҽшӡаашәххьоугьы, Иегова дшышәзыразу шәгәы агәра агара аҭахымзар? Ишәхашәмыршҭлан: зны-зынла ҳцәаныррақәа ҳаржьалар ауеит, аха Иегова ахаангьы ҳаижьаӡом, уи еснагь игәра ҳгалар ҳалшоит. Иара аҿыхра агәра зго уаа иашақәаны иԥхьаӡоит, дшырзылԥхалогьы ажәа риҭоит (шәаԥхьа Аԥсалом 5:12; Рим. 3:26). Абар Викториа зыхьӡу ҳаҳәшьак лҭоурых. Зны лара Иисус иԥсхҭынҵара инарҵауланы дазхәыцуан. Убасҟан даараӡа ихадоу акы еилылкааит. Абар лара илҳәо: «Иегова акыраамҭа сара сахь ачҳара ааирԥшуеит... Сара абас еиԥш иасҳәозшәа алҵуан: „Убзиабара сызхаӡом. Уԥа иԥсхҭынҵара сыгәнаҳақәа зыҿнахӡом“». Викториа Иисус иԥсхҭынҵара ибзианы даназхәыц, еилылкааит уи Иегова хаҭала лара илзыҟаиҵаз аҳамҭа шакәу. Убас лара агәра лгеит Иегова даараӡа бзиа дшибо. Ҳаргьы Иисус иԥсхҭынҵара ҳазхәыцлар, Иегова бзиа ҳшибо еилаҳкаауеит, дшаҳзыразугьы ҳбоит.
18. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи, жәҩантәи Ҳаб бзиа даҳбозар?
18 Ари астатиаҿы иаагоу алабжьарақәа егьа ҳхы иаҳархәаларгьы, зны-зынла ҳгәы каҳалар, насгьы Иегова даҳзыразымшәа ҳбалар алшоит. Урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа аншәызцәырҵуа, Иегова бзиа дызбо зегьы дшырзыразу шәгәалашәыршәала (Иак. 1:12). Анаҩсгьы Иегова шәизааигәахала, насгьы дшышәзыразу шышәирбо гәашәҭала. Ахаангьы ишәхашәмыршҭлан: Иегова «ҳара даҳцәыхараӡам» (Аус. 17:27).
АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?
-
Избан шьоукы Иегова дшырзыразу агәра агара зырцәыцәгьоу?
-
Агәра шԥаҳирго Иегова дшаҳзыразу?
-
Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иҵегьы иаҳзырбо Иегова дшаҳзыразу?
АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт