Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 10

АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы

Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы Иисус шәишьҭанеила

Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы Иисус шәишьҭанеила

«Исышьҭаланы ацара зҭаху ихы мап ацәикааит, ишьаҟа шьҭыхны, еснагь дсышьҭаланы даалааит» (ЛУКА 9:23).

ЕИЛАҲКААУА

Ари астатиа ҳара зегьы иҳацхраауеит Анцәа ҳҽанизаҳкыз иаҳҭаз ажәа иаҵанакуа азхәыцра. Иара убас уи ааигәа аӡы зыҽӡаазхыз Анцәа изиашаны аанхара ирыцхраауеит.

1, 2. Аҽшԥаԥсахуеи ауаҩы иԥсҭазаара, аӡы иҽанӡааихлак ашьҭахь?

 ИЗАКӘЫТӘ гәырӷьара дуузеи аӡы уҽӡаахны Иегова иҭаацәара уанахәҭакхо иуоуа! Анцәа иҩызахара ҳаҭыр дууп! Ҳара Давид ицәаныррақәа ицеиҩаҳшоит. Иара иҳәеит: «Насыԥ имоуп уашҭақәа рҿы дынхаларц азы иалухуа, иузааигәаутәуа ауаҩы» (Аԥсал. 65:4).

2 Иааиԥхьода Иегова иашҭахь? Ҳазхысыз астатиа ишаҳәаз еиԥш, Анцәа дыззаигәахо иара изааигәахара зҭаху роуп (Иак. 4:8). Иегова шәыҽизкны аӡы шәҽанӡаашәхлак, иареи шәареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шәыбжьалоит. Агәра ганы шәыҟазар шәылшоит иара меигӡарахда дшышәзылԥхо (Мал. 3:10; Иер. 17:7, 8).

3. Иарбан ҭакԥхықәроу ауаҩы идло, Анцәа иҽизкны аӡы иҽанӡааихлак? (Екклезиаст 5:4, 5).

3 Аӡӡаахра — амҩа алагамҭа ауп. Ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахь ҳара Анцәа иаҳҭаз ажәа инақәыршәаны ҳанхалароуп. Ҳзықәшәо аԥышәарақәеи ахыхрақәеи ҳармыхәаԥшӡакәа, Иегова ҳизиашаны ҳаанхалароуп. (Шәаԥхьа Екклезиаст 5:4, 5.) Иисус иҵаҩцәа ҳакәны ҳаныҟалалак, иахьынӡаҳалшо ишьҭа ҳхыланы ҳцалароуп, иԥҟарақәагьы наҳагӡалароуп (Матф. 28:19, 20; 1 Пиотр 2:21). Шәааи уи шыҟаҵатәу ҳалацәажәап.

ИИСУС ШӘИШЬҬАНЕИЛА, АУАДАҨРАҚӘЕИ АԤЫШӘАРАҚӘЕИ ШӘРЫҚӘШӘОЗАРГЬЫ

4. Ииҳәарц ииҭахызи Иисус, иҵаҩцәа «агәаҟратә шьаҟа» иаҵазаауеит ҳәа аниҳәа? (Лука 9:23).

4 Шәгәы иаанамган аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь ауадаҩрақәа шәрықәшәалаӡом ҳәа. Иисус иҳәеит иҵаҩцәа есымша «агәаҟратә шьаҟа» ишаҵазаауа. (Шәаԥхьа Лука 9:23, албаага.) Иаанагома уи ақьырсиан иԥсҭазаара еснагь гәаҟрала иҭәызаауеит ҳәа? Мап. Иисус ииҳәарц ииҭахыз абзиарақәа рыдагьы, ауадаҩрақәагьы ҳашрықәшәало ауп. Уадаҩрақәак рыхгара даараӡа ицәгьахар алшоит (2 Тим. 3:12).

5. Изықәиргәыӷзеи Иисус иаҳаҭыразы ак мап ацәызкуа?

5 Иҟалап шәҭынхацәа рганахьала аҿагыларақәа шәрықәшәахьазар, мамзаргьы Анцәа Иаҳразы еиҳаны иҟашәҵаларц азы ак мап ацәышәкзар (Матф. 6:33). Агәра ганы шәыҟаз Иегова Иаҳразы иҟашәҵо зегь шибо (Аур. 6:10). Иҟалап шәара шәхатә ԥышәала игәашәҭахьазар Иисус ииҳәаз абарҭ ажәақәа шынаӡо: «Зыҩны, ма зашьцәа, ма заҳәшьцәа, ма зан, ма заб, ма зхәыҷқәа, ма зымхқәа аанзыжьыз уажәнатә шәынтә еиҳаны аҩнқәеи, аишьцәеи, аиҳәшьцәеи, анацәеи, ахәыҷқәеи, амхқәеи иоуеит, ашьҭашәарыцарақәа дышрықәшәогьы. Ҳаԥхьаҟа акәзар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит» (Марк 10:29, 30). Иегова ишәзыҟаиҵо мап зцәышәкуа аасҭа акырӡа еиҳауп (Аԥсал. 37:4).

6. Избан аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы шәцәеижь агәаҳәарақәа шәырҿагылалар зшәыхәҭоу?

6 Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы шәцәеижь агәаҳәарақәа шәырҿагылалароуп (1 Иоанн 2:16). Избанзар шәшынаӡам шәаанхоит. Зны-зынла апостол Павел ихы шибоз еиԥш шәхы жәбалар алшоит. Иара иҳәеит: «Гәыла-ԥсыла Анцәа изакәан бзиа избоит, аха сцәа иалоу даҽа закәанк схы иҭоу азакәан ишаҿагыло збоит. Уи сҿаҳәаны сызмоу, исылоу агәнаҳа ауп» (Рим. 7:22, 23). Иҽеим агәаҳәарақәа шшәызцәырҵуа аныжәбо, шәгәы каҳалар алшоит. Аха шәгәы кашәмыжьын! Иегова шәҽанизышәкыз ишәҭаз ажәа шәазхәыцла. Уи шәыцхраауеит шәхызхыр алшо аҽамҭара. Анцәа ишәҭаз ажәа ииашоу алхра аҟаҵара ишәыцхраауеит. Ишԥа?

7. Ишԥашәыцхраауеи Иегова шәҽанизышәкыз ишәҭаз ажәа шәизиашаны аанхара?

7 Иегова шәҽанизышәк, шәхы мап ацәышәкит. Ус анакәха, Иегова игәамԥхо агәаҳәарақәеи ахықәкқәеи мап ҳәа рашәҳәеит (Матф. 16:24). Убри аҟынтә иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы иҟасҵарызеи ҳәа ҿыц ахәыцра шәаламган. Шәара Иегова шәизиашаны шәшаанхо шәыӡбахьеит. Убриоуп шәара шәзы зегь раасҭа ихадоу. Шәара еснагь Иегова дшәыргәырӷьалар шәҭахуп. Убри азы Иов иеиԥш шәҽырӷәӷәаны шәыҟазаауеит. Иара даараӡа ицәгьаз аҭагылазаашьаҿы иҳәеит: «Сара Анцәа сизиашазаауеит!» (Иов 27:5).

8. Ишԥашәыцхраауеи Анцәа шәҽанизышәкуаз ишәҭаз ажәа шәхызхыр алшо аҿагылара?

8 Иегова шәҽанизышәкуаз еснагь игәы иахәо шыҟашәҵало ажәа шишәҭаз шәазхәыцлар, уи шәхызхыр алшо аҿагылара ишәыцхраауеит. Иаҳҳәап, шәалагома аҭаацәара иалоу аӡәы шәхы игәарԥхара? Ҳәарада, мап! Шәара уи аҩыза ахымҩаԥгашьа мап ацәышәкхьеит. Уи шәара шәахьчоит. Иҽеим агәаҳәарақәа анеизурҳалак иаанаго ахьаа шәаргәаҟлаӡом. Шаҟа шәеигәырӷьалозеи агәнаҳаҟаҵаҩцәа рымҩа шәахьанымлаз! (Ажәам. 4:14, 15).

9. Ишԥаҳацхраауеи Иегова иаҳҭаз ажәа адоуҳатә усқәа раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара?

9 Иҟашәҵозеи, аизарақәа рҭаара ишәԥырхагахар алшо аусура шәыдыргалар? Шәара еиҭах ахәыцра шәаламгароуп, избан акәзар ус еиԥш иҟоу аусура шәшакәшаҳаҭымхо ала аӡбара шәыдышәкылахьеит. Убри аҟынтә ииашам аӡбара шәыдышәкылар, алҵшәа бзиа шәзаанагоит ҳәа шәхы шәымжьалан. Шәазхәыц Иисус иҿырԥшы. Иара еснагь Иаб иргәырӷьара дашьҭан. Иисус иҿырԥшы шәыцхраауеит шәҽыззышәкыз Анцәа игәы изырхьыр алшо акы иаразнак мап ацәкра (Матф. 4:10; Иоанн 8:29).

10. Дышԥашәыцхраауеи Иегова аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь Иисус ишьҭанеира?

10 Аԥышәарақәеи ахыхрақәеи Иисус ишьҭа ҳхыланы ацара шаҳҭаху аарԥшразы алшара ҳарҭоит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова уи аҿы дышшәыцхраауа. Абиблиаҿы иануп: «Анцәа еснагь иажәа наигӡоит азы, ишәызхымго аԥышәара шәақәшәартә алиршаӡом. Аԥышәара шәақәшәаргьы, уи ахгара дшәыцхраауеит» (1 Кор. 10:13).

ИИСУС ИШЬҬАНЕИРА ИШӘЫЦХРААУА

11. Ишәыцхраауазеи Христос ишьҭанеира? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Иисус гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ иуан, еснагь иара диҳәон (Лука 6:12). Ишәыцхраауазеи шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь Иисус ишьҭанеира? Иегова изааигәахара ишәыцхраауа аусқәа рыла шәыԥсҭазаара шәырҭәла. Абиблиаҿы иануп: «Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап» (Флп. 3:16). Аамҭа-аамҭала змаҵзура зырҭбааз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә шәаҳалоит. Иҟалап дара Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол иахысзар, мамзаргьы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь ииасзар. Шәаргьы уи шәылшозар, ԥхьаҟа шәеиха! Иегова имаҵзуҩцәа еснагь еиҳаны аҟаҵаразы алшарақәа ирышьҭоуп (Аус. 16:9). Аха уажәы шәҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны еиҳаны аҟаҵара шәылымшозар? Акгьы шәаԥсаӡам ҳәа шәымхәыцлан. Ақьырсиантә мҩа шәанымҵын (Матф. 10:22). Шәҭагылазаашьа иахьынӡашәылнаршо Иегова имаҵ жәула. Уи шәыцхраауеит анаҩсгьы Христос ишьҭанеира (Аԥсал. 26:1).

Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь Иегова изааигәахара ишәыцхраауа аусқәа рыла шәыԥсҭазаара шәырҭәла. (Шәахәаԥш абзац 11.)


12, 13. Иҟашәҵар шәылшозеи, агәацԥыҳәара шшәыцәмаҷхо жәбозар? (1 Коринфаа 9:16, 17). (Шәахәаԥш иара убас арамка « Амҩа шәанымҵын».)

12 Иҟашәҵар шәылшозеи Анцәа иҳәара иҟаҵатәу ак еиԥш шәахәаԥшуа шәалагазар, Анцәа имаҵ аурагьы уалны ишәыду ак еиԥш иҟалазар, мамзаргьы Абиблиа аԥхьара уаанӡа ишәзаанагоз агәырӷьара шәзаанамгозар? Ус иҟалазар, Иегова уаҳа иԥшьоу адоуҳа шәиҭаӡом ҳәа шәымхәыцлан. Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә ҳцәаныррақәа лассы-лассы рҽырыԥсахуеит. Агәацԥыҳәара шәыцәмаҷхазар, апостол Павел иҿырԥштәы шәазхәыц. Иара зегь рыла Иисус иҿыԥшра дшашьҭазгьы, идыруан зны-зынла агәацԥыҳәара ицәмаҷхар шалшоз. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 9:16, 17.) Иара иҳәеит: «Исҭахымкәа иҟасҵозаргьы, иҟасҵалароуп, избанзар Анцәа уи дҵас исиҭеит». Даҽакала иуҳәозар, Павел дазхиан имаҵзура анагӡара, агәацԥыҳәара аницәмаҷызгьы.

13 Шәаргьы инаӡам шәцәаныррақәа шәхы шымҩаԥыжәгалаша шәыҵарҳәалар шәымун. Шәцәаныррақәа зеиԥшразаалакгьы, ииашаны шәхы мҩаԥыжәгала. Хәыҷы-хәыҷла шәцәаныррақәагьы рҽырыԥсахуеит. Аха уажәазы адоуҳатә усқәа шәырҿыз. Уи Иисус ишьҭанеира ишәыцхраауеит. Шәгәы камыжьӡакәа Иегова имаҵ шыжәуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирбалоит, уи ргәы шьҭнахлоит (1 Фес. 5:11).

«[И]ГӘАШӘҬАЛА... ЕИЛЫШӘКААЛА»

14. Игәаҳҭалар акәзеи аамҭа-аамҭала, насгьы избан? (2 Коринфаа 13:5).

14 Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь аамҭа-аамҭала шәхы гәашәҭалар бзиоуп. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 13:5.) Шәрыцклаԥшла шәышьцыларақәа. Шәиҳәома Анцәа есыҽны? Шәаԥхьома, насгьы иҭышәҵаауама Абиблиа? Шәырҭаауама аизарақәа? Шәҽалашәырхәуама ажәабжьҳәара? Ишәзааргома урҭ аусқәа агәырӷьареи ахәарҭеи? Мап акәзар, ак шәыԥсахыр шәылшоит. Шәхы шәазҵаа: «Исылшома ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа ауаҩы иеилыркаара?Иҟасҵар сылшозеи ажәабжьҳәара еиҳа агәырӷьара сзаанагаларц азы? Изеиԥшроузеи Анцәа иахь исырхо аҳәарақәа? Иудырбома урҭ Иегова сышиқәгәыӷуа? Сгәы иҵхо иаартны иасҳәома? Сырҭаауама аизарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа? Иҟасҵар сылшозеи апрограмма зҿлымҳарала сазыӡырҩларц, насгьы еиҳаны сҽаласырхәларц азы?»

15, 16. Ишәнарҵозеи аиашьа ихҭыс ахыхрақәа ишырҿагылатәу аганахьала?

15 Ԥсыҽрақәас иҳалоугьы гәаҳҭалар бзиоуп. Ро́берт зыхьӡу аиашьа ихатә ԥышәала агәра игеит ус аҟаҵара шыбзиоу. Иара иҳәоит: «20 шықәса раҟара анысхыҵуаз аус сыцызуаз ӡӷабк лыҩныҟа саалыԥхьеит. Лара илҳәеит ҳара ҳада уаҩ дҟалаӡом ҳәа, насгьы „аамҭа ибзианы иаҳхаҳгоит“ ҳәа. Раԥхьа ҽыҵгақәак сыԥшаауа салагеит, аха нас инақәырӷәӷәаны мап скит, сзымнеиуазгьы ласҳәеит». Роберт дҳарҽхәар ҳалшоит. Иара ииашаны ихы мҩаԥигеит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь еиҳа еиӷьны ихы мҩаԥигар шилшоз еиликааит. Иара иҳәоит: «Сара уи аӡӷаб мап лцәыскит, аха Иосиф ишыҟаиҵаз еиԥш, иаразнак, сымлакҩакӡакәа иҟасымҵаӡеит [Аҟаз. 39:7—9]. Аиаша сҳәозар, иаразнак мап аҳәара ахьысцәыцәгьахаз даараӡа иџьасшьеит. Уи ахҭыс иснарбеит Иеговеи сареи ҳаиҩызара сырӷәӷәалар шсыхәҭаз».

16 Шәаргьы, Роберт иеиԥш, шәхы гәашәҭар шәылшоит. Ахыхра шәҽашәымҭазаргьы, шәхы шәазҵаа: «Шаҟа аамҭа сҭаххазеи мап сҳәарц азы?» Шәхы шымҩаԥыжәгаз уиаҟара ишәгәамԥхозаргьы, шәгәы кашәмыжьын. Уажәшьҭа ԥсыҽрас ишәымоу ахьыжәдыруа шәеигәырӷьала. Уи аԥсыҽра шәаиааирц азы Анцәа шәиҳәала, насгьы инормақәа инарықәыршәаны анхаразы ишәымоу агәаҳәара шәырӷәӷәала (Аԥсал. 139:23, 24).

17. Ишԥаилшеи Роберт Иегова ихьӡ ахьчара?

17 Роберт ихҭыс иаҳнарҵо даҽакгьы ыҟоуп. Иара иҳәоит: «Аус сыцызуаз мап анылцәыск, ус салҳәеит: „Иудысныҳәалоит. Аиааира угеит!“ Илҳәо иаанагои ҳәа санлазҵаа, лара илҳәеит лҩызаҷкәын уаанӡа Иегова ишаҳаҭ шиакәыз. Иара илеиҳәеит иқәыԥшу Иегова ишаҳаҭцәа зегьы ирҳәо акоуп, иҟарҵо даҽакоуп ҳәа, ихызхуа акы иақәшәар, рхаҵара рхашҭуеит ҳәа. Убри аҟынтә сԥыршәарц еибырҳәеит. Шаҟа сеигәырӷьазеи Иегова ихьӡ ахьсмырԥхашьаз!»

18. Иҟашәҵаларц шәгәы иҭоузеи аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы? (Шәахәаԥш иара убас арамка « Аҿар иргәаԥхо астатиақәа».)

18 Иегова шәыҽизкны аӡы шәҽанӡаашәхуа, еснагь ихьӡ арҳаракра шышәҭаху ишәырбоит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова ишибо шәзықәшәо аԥышәарақәеи ахыхрақәеи. Иара ибоит шәизиашаны шәаанхарц азы иҟашәҵо, дагьшәыцхраауеит. Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала Анцәа игәы аҟаҵара шәылшоит (Лука 11:11—13). Иегова дшәыцхраалоит аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы Иисус ишьҭанеира.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ииҳәарц ииҭахызи Иисус, иҵаҩцәа еснагь «агәаҟратә шьаҟа» иаҵазаауеит ҳәа аниҳәа?

  • Ишәыцхраауазеи Иисус ишьҭанеира аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы?

  • Ишԥашәыцхраауеи Анцәа шәҽанизышәкуа ишәҭо ажәа шәизиашаны аанхара?

АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит