Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 11

АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап

Иегова имаҵ жәула, зны-зынла шәгәы каҳауазаргьы

Иегова имаҵ жәула, зны-зынла шәгәы каҳауазаргьы

«Сыхьӡ азы иухугаз рацәоуп» (ААТ. 2:3).

ЕИЛАҲКААУА

Акы ҳгәы анканажьуагьы, Иегова имаҵ ҳаулар шҳалшо.

1. Иарбан ҳамҭақәоу Иегова имаҵзуҩцәа ирзыҟаиҵаз?

 АРИ адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ицәгьахоит. Аха Иегова иорганизациаҿы ҳара агәҭынчра ҳамоуп. Анцәа аӡәк иеиԥш иҟоу адунеизегьтәи аиашьара ҳаиҭеит (Аԥсал. 133:1). Иара убас иара ҳҭаацәара аҩныҵҟа ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара дҳацхраауеит (Еф. 5:33—6:1). Уи адагьы, агәҭынчра ҳаурц азы иҟаҳҵаша ҳаиҳәоит.

2. Избан зны-зынла Иегова имаҵ аура зымариам?

2 Аха Иегова имаҵ аура анымариамгьы ыҟоуп. Зны-зынла аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳгәы ҳзырхьуа ак рҳәоит ма иҟарҵоит. Мамзаргьы ҳхаҭа иҟаҳҵо агхақәа ирыхҟьаны ҳгәы каҳауеит, еиҳараӡак ус зныкымкәа-ҩынтәымкәа иҳахьуазар. Ҳара Иегова имаҵ аура ҳаҟәымҵроуп: 1) аиашьа ҳаниргәаауа ма аиаҳәшьа, 2) ҳхатә ҩыза ҳгәы анкаижьуа, мамзаргьы 3) ҳхы ҳгәы анахшәо. Ҳахәаԥшып убас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа рҿы абиблиатә аамҭақәа раан инхоз хҩык Анцәа имаҵзуҩцәа рхы шымҩаԥыргоз, насгьы еилаҳкаап урҭ ирҿаҳҵаар ҳалшо.

ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН, АИАШЬА ШӘАНИРГӘААУА, МА АИАҲӘШЬА

3. Иарбан уадаҩрақәоу Анцәа имаҵзуҩцәа зықәшәо?

3 Ауадаҩра. Зны-зынла аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳгәы карыжьуеит. Избан? Ҳара иаҳгәамԥхозар ауеит урҭ ирылоу ҟазшьақәак. Мамзаргьы имхәыцӡакәа ирҳәо ма иҟарҵо ҳгәы канажьуеит. Аизара ахылаԥшыҩцәагьы агхақәа анрыхьуа ҟалалоит. Уи иахҟьаны шьоукы абас ихәыцуеит: «Анцәа иорганизациаҿы уи аҩыза ҟалашьа амоума?» Убри аҟынтә рашьцәеи раҳәшьцәеи ирывагыланы Анцәа имаҵ аура аҭыԥан, изыргәааз рацәажәара рҭахымхо иҟалоит, мамзаргьы зынӡа аизарақәа рҭаара иаҟәыҵуеит (Соф. 3:9). Аха ииашоума уи? Абиблиаҿы иануп уи аҩыза ауадаҩра иақәшәаз ауаҩы иӡбахә. Шәааи еилаҳкаап ихы шымҩаԥигаз.

4. Иарбан уадаҩрақәоу апостол Павел дзықәшәоз?

4 Абиблиа аҟынтә аҿырԥшы. Апостол Павел ибзианы идыруан аишьцәеи аиҳәшьцәеи шынаӡам. Иаҳҳәап, данқьырсианха, раԥхьа аизараҿы игәра рымгаӡеит (Аус. 9:26). Ԥыҭрак ашьҭахь шьоукы ихьӡ бжьырхырц азы уҳәан-сҳәан изырҳәо иалагеит (2 Кор. 10:10). Павел ибон аизара ахылаԥшҩы ииашаӡамкәа ихы шымҩаԥигоз, уи егьырҭ рхаҵара иаԥырхагахар алшон (Гал. 2:11, 12). Уи адагьы, иҩызцәа бзиақәа руаӡәк, Марк, Павел ӷәӷәала игәы иирхьит (Аус. 15:37, 38). Арҭ аҭагылазаашьақәа зегьы рҿы Павел иӡбар ауан уаҳа урҭ рымԥан дықәлаӡом ҳәа. Аха иара урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟазшьа бзиақәа рбара иҽазишәон, насгьы гәыкала Иегова имаҵ шиуц иуан. Ицхраазеи иара?

5. Ицхраауази Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгхақәа ранажьра? (Колоссаа 3:13, 14). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

5 Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ибон. Абзиабара ирыгу акәымкәа, бзиарас ирылоу агәаҭара игәазҭанаҵон. Иара убас уи аҟазшьа ицхраауан Колоссаа 3:13, 14 (шәаԥхьа) аҿы ианиҵаз алабжьара ақәныҟәара. Иара аишьцәа идирҵон егьырҭ ранажьра шхадоу. Иара ихаҭагьы уи алабжьара Марк иҿы ихы иаирхәеит. Раԥхьатәи амиссионертә ныҟәараан Марк Павел дшаанижьызгьы, Павел уи игәаӷ имкӡеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Павел Колосс иҟаз аизарахь аԥхарра зҵаз асаламшәҟәы иҩит. Уи асаламшәҟәаҿы Марк Павел дивагыланы амаҵ ахьиуаз, игәы ахьышьҭихуаз азы дирҽхәон (Кол. 4:10, 11). Павел Рим абахҭа данҭакызгьы Марк днеирц аҳәара ҟаиҵеит (2 Тим. 4:11). Излаҳбо ала, Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгхақәа ранаижьуан. Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

Павели, Варнавеи, Марки аилибамкаарақәа рыбжьалеит. Павел урҭ дырзымгәааӡеит, ԥыҭрак ашьҭахьгьы дгәырӷьаҵәа Марк амаҵ ициуан. (Шәахәаԥш абзац 5.)


6, 7. Иҳацхраауазеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа рбара, урҭ ирыгу шыҟоугьы? (Ауриацәа 13:1).

6 Иаҳнарҵо. Иегова иҭахуп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбаларц. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:1.) Дара ҳгәы ҳзырхьыз акы рҳәазаргьы, уи цасҳәан иҟарҵеит ҳәа ҳамхәыцлароуп (Ажәам. 12:18). Ҳара агәра ҳгозароуп ҳашьцәа ииашаны рхы мҩаԥыргалар шырҭаху, аха зны-зынла уи рзалҵӡом. Анцәа имаҵзуҩцәа шынаӡамгьы бзиа ибоит, урҭ агхақәа аныҟарҵо мап рцәикӡом. Абиблиаҿы иануп: «Иара... игәынамӡара аамҭалоуп» (Аԥсал. 103:9). Ҳаргьы жәҩантәи Ҳаб ҳаиҿыԥшны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгхақәа ранаҳажьлароуп (Еф. 4:32—5:1).

7 Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьо аиҩызара ҳарӷәӷәалароуп. Наҟ-наҟ ашьҭашәарыцарақәа еиҳагьы рыҽдырцәгьар ҟалоит. Ҳхаҵаразы абахҭа ҳҭашәаргьы алшоит. Усҟан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыда ԥсыхәа ҳауӡом (Ажәам. 17:17). Испаниа аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуа Хосе́п a иҩызцәеи иареи абџьар ахьышьҭырымхыз азы абахҭа иҭаркит. Иара иҳәоит: «Абахҭаҿы ҳара зегьы џьарак ҳаицҭакын, зны-зынла ҳгәы нибархаларгьы ауан. Ҳара иҳагыз-иҳабзаз ҳанеибажьлар акәын. Уи абзоурала аӡәк иеиԥш ҳаанхон, насгьы иҳацҭакыз егьырҭ ауаа ҳашьцәа рҟынтә аӡәы ддыргәаар ҳауӡомызт. Зны сара снапы смыхәо агипс иҭарҵеит. Усҟан аӡәы ицхыраарада ԥсыхәа сымаӡамызт. Иашьак даараӡа дсыцхраауан, сымаҭәақәагьы иӡәӡәон. Ауадаҩра санақәшәа, сара еилыскааит ҳашьцәа рыбзиабара закәу». Шәааи аамҭа цәгьақәа ҳарзымԥшып, уажәнатә ҳҽаҳаршьцылалап иҳабжьало аилибамкаарақәа иаразнак рыӡбара!

ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН, ШӘХАТӘ ҨЫЗА ШӘГӘЫ АНКАИЖЬУАГЬЫ

8. Иарбан уадаҩрақәоу аҭаацәара иалоу зықәшәо?

8 Ауадаҩра. Ауадаҩра змам аҭаацәарақәа ыҟаӡам. Абиблиа иаартны иаҳәоит аҭаацәара иалало рыԥсҭазаараҿы «ауадаҩра ҿыцқәа цәырҵуеит» ҳәа (1 Кор. 7:28). Избан? Избанзар ахаҵагьы аԥҳәысгьы наӡаӡам, дасу ихатә ҟазшьеи иҷыдарақәеи имоуп. Хаҵеи-ԥҳәыси ркультуреи рааӡашьеи еиԥшымзар ауеит, аӡәы игәаԥхо даҽаӡәы игәамԥхозар алшоит. Аамҭак ашьҭахь еибагаанӡа ирымбоз аҟазшьақәа цәырҵыр ҟалоит. Уи ахьшәашәара рыбжьанаҵар ауеит. Дасу ирыгу шыҟоу еилкааны ауадаҩра аӡбара аҭыԥан, зегьы рхатә ҩыза ихарарҵалар ҟалоит. Ауадаҩра ӡбашьас иамоу хазы анхара, мамзаргьы аилыҵра ауп ҳәа ргәы иаанагаргьы алшоит. Аха ирынаҭома уи еиҳа анасыԥ? b Шәааи иаҳгәалаҳаршәап абиблиатә аамҭақәа раан инхоз, зҭаацәараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа змаз ԥҳәыск лҭоурых, насгьы еилаҳкаап уи илҿаҳҵаар ҳалшо.

9. Иарбан уадаҩрақәоу Авигеиа лҭаацәараҿы иҟаз?

9 Абиблиа аҟынтә аҿырԥшы. Авигеиа Навал ԥҳәысс диман. Абиблиа уи згәаҵәа жәпаз, рыцҳашьарак зламыз ауаҩы еиԥш иӡбахә аҳәоит (1 Сам. 25:3). Иҟалап Авигеиа уи ицынхара лзымариамызҭгьы. Илылшозма лара дилҵыр? Уи аҩыза алшара лоуит Израиль аҳас иҟалараны иҟаз Давид лхаҵа дишьырц игәы ианҭеик. Навал Давид ируааи иареи дырхыччеит азы, Давид уи игәы изыԥжәан, дишьырц игәы иҭеикит (1 Сам. 25:9—13). Усҟан Авигеиа илылшон Навал иҟынтә дыбналаны дцар, Давидгьы игәы иҭеикыз наигӡон. Аха лара урҭ дрыбжьагылеит, Давидгьы агәра илыргеит Навал ишьра шаҭахым (1 Сам. 25:23—27). Избан ус зыҟалҵаз?

10. Избан Авигеиа лхаҵа дзаанылмыжьуаз, ицынхара шымариамызгьы?

10 Авигеиа Иегова бзиа дылбон, насгьы аҭаацәаразы ишьақәиргылаз анормақәа пату рықәылҵон. Ҳәарада, лара илдыруан Анцәа раԥхьатәи аҭаацәара анаԥиҵаз, Адами Евеи иреиҳәаз (Аҟаз. 2:24). Авигеиа илдыруан Иегова изыҳәан аҭаацәара шыԥшьаз. Лара Иегова длыргәырӷьалар лҭахын, убри аҟынтә лҭаацәара иаҵанакуаз зегьы еиқәлырхарц азы, лхаҵагьы уахь дналаҵаны, илылшоз зегь ҟалҵеит. Авигеиа аамҭа мгакәа Давид диԥылеит, лхаҵа дишьыргьы лмуӡеит. Уи адагьы, Авигеиа иҟалымҵаз ацәгьаразы аҭамзаара ашьҭаҵара дазхиан. Ҳәараҭахума, Иегова агәымшәара злаз, зхы иамеигӡоз уи аԥҳәыс бзиа дибон. Иднарҵозеи аҭаацәара иалоу ахацәеи аҳәсеи Авигеиа лҿырԥшы?

11. а) Дыззыԥшузеи Иегова хаҵеи-ԥҳәыси рҟынтә? (Ефесаа 5:33). б) Ишәнарҵозеи Кармен лҭаацәара еиқәлырхарц азы иҟалҵоз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Иаҳнарҵо. Иегова хаҵеи-ԥҳәыси аҭаацәара пату ақәырҵалар иҭахуп, аицынхара рцәыцәгьазаргьы. Иара даараӡа деигәырӷьоит хаҵеи-ԥҳәыси ауадаҩрақәа рыӡбара рҽаназыршәо, насгьы ахамеигӡара зныԥшуа абзиабареи апатуқәҵареи анаадырԥшуа. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:33.) Абар Ка́рмен лҭоурых. Лхаҵеи лареи анеибага ашьҭахь фышықәса раҟара ааҵуаны, лара Абиблиа аҵара далагеит, аӡгьы лыҽӡаалхит. «Схаҵа уи игәамԥхаӡеит, — лҳәоит Кармен. — Иегова сихибаауа далагеит. Иҟоу зегьы сықәиҳәацәон, бкасыжьуеит ҳәагьы сиршәон». Аха лара уи дамыхәаԥшӡакәа, рҭаацәара еиқәлырхарц азы илылшоз зегь ҟалҵон. Лхаҵа бзиа дшылбо, пату шиқәылҵо илырбон, убас 50 шықәса рыҩныҵҟа уи даҿын. Кармен иацылҵоит: «Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа схаҵа еиҳа еиӷьны деилыскаауа салагеит, хаала иацәажәашьагьы сҵеит. Ҳҭаацәара сыхьчарц азы сымчқәа среигӡаӡомызт, избанзар Иегова изы уи шыԥшьоу здыруан. Сара Иегова бзиа дызбоит, убри аҟынтә схаҵа илҵра ахаангьы сазхәыцӡомызт c». Шәҭаацәараҿы ауадаҩрақәа цәырҵуазар, Иегова шәиқәгәыӷла. Иара урҭ ауадаҩрақәа рыӡбара дшәыцхраауеит.

Авигеиа лҭаацәара иаҵанакуаз зегьы еиқәлырхарц азы илылшоз зегь ҟалҵон. Ишәнарҵои лҿырԥшы? (Шәахәаԥш абзац 11.)


ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН, ШӘХЫ ШӘГӘЫ АНАХШӘОГЬЫ

12. Иарбан уадаҩрақәоу изықәшәо агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз?

12 Ауадаҩра. Агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы ихы пату ақәҵара даҟәыҵуеит. Абиблиаҿы иануп агәнаҳа ауаҩы имчқәа зегь шилнахуа (Аԥсал. 51:17). Робе́рто зыхьӡу аиашьа аизара ацхырааҩыс дҟаларц азы акыр шықәса ихы аус адиулон. Аха иара агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит, насгьы Иегова дшиҭииз еиликааит. Иара иҳәоит: «Сыламыс даараӡа саргәаҟуан. Агәнаҳа исзышьҭымхуаз еидараны сҟәаҟәа иқәҳаит. Схы сцәымӷын. Сара еимаҭәаны сҵәыуон, насгьы сгәы ҭыӷьӷьаа Иегова сиҳәон. Аха сгәы иаанагон Иегова уаҳа ахаан сыҳәарақәа дырзыӡырҩлаӡом ҳәа. Дзырзыӡырҩуеи, игәы исырхьзар?» Агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, ҳгәы каҳар алшоит. Уи аамҭазы ҳгәы абас ҳанаҳәозар ҟалоит: «Иегова мап уцәикхьеит, имаҵ аура иаԥсаӡам» (Аԥсал. 38:4). Ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа шәызцәырҵуазар, дышәгәалашәыршәа актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсиан. Иара агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵазгьы, Иегова имаҵ аура даҟәымҵӡеит.

13. Иарбан гәнаҳа ӷәӷәоу иҟаиҵаз Пиотр, насгьы дназгазеи уи агәнаҳахь?

13 Абиблиа аҟынтә аҿырԥшы. Иисус иԥсра уахык шагыз апостол Пиотр агәнаҳа ӷәӷәахьы дназгаз агхақәа ҟаиҵеит. Иара ихы дақәгәыӷцәон, насгьы егьырҭ апостолцәа Иисус даанрыжьыргьы, сара даансыжьӡом ҳәа дыҽхәон (Марк 14:27—29). Анаҩс Гефсиманиатәи абаҳчаҿы зныкымкәа дамхацәеит (Марк 14:32, 37—41). Нас Иисус дыкны даҳгоит ҳәа ауаа рацәа анааи, иара дыҩны дцеит (Марк 14:50). Анаҩс хынтә Иисус дсыздырӡом ҳәа иҳәеит, уи амц иашоушәа иааирԥшырц азы дагьқәит (Марк 14:66—71). Пиотр агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз анеиликаа, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Иҟалап убасҟан акәзар ианеиликаа игәнаҳа шаҟа иӷәӷәаз (Марк 14:72). Сааҭқәак рышьҭахь иҩыза, Иисус, дкыдҵаны дыршьит. Шәхаҿы иаажәг шаҟа ахьаа изаанагаз уи Пиотр! Зынӡа ихы ицәымыӷхазар ҟалап.

14. Ицхраазеи Пиотр анаҩсгьы Иегова имаҵ аура? (Шәахәаԥш асахьа.)

14 Аха Пиотр игәы каимыжьӡеит, Иегова имаҵ аурагьы даҟәымҵӡеит. Ицхраазеи иара? Пиотр иҽыԥхьамкӡакәа, ихаҵара ицеиҩызшоз иашьцәа рахь дцеит, даргьы игәы шьҭырхит (Лука 24:33). Уи адагьы, зыԥсы ҭалаз Иисус дизнеит, иҟалап игәы шьҭихырц азы (Лука 24:34; 1 Кор. 15:5). Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Иисус Пиотр ирԥхашьара даламгаӡакәа, иҩыза бзиа еиҳаз аҭакԥхықәра ииҭеит (Иоанн 21:15—17). Пиотр идыруан агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз, аха акгьы даԥсаӡам ҳәа иԥхьаӡаӡомызт. Избан? Избанзар идыруан Иисус ус шимԥхьаӡоз. Пиотр ихаҵара ицеиҩызшоз иашьцәагьы анаҩсгьы ивагылан, игәы шьҭырхуан. Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

Иоанн 21:15—17 ишаҳнарбо еиԥш, Иисус Пиотр акгьы даԥсаӡам ҳәа имԥхьаӡаӡеит. Апостол уи ицхрааит игәы камыжьӡакәа анаҩсгьы Анцәа имаҵ аура. (Шәахәаԥш абзац 14.)


15. Зыгәра ҳиргозеи Иегова? (Аԥсалом 86:5; Римаа 8:38, 39). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Иаҳнарҵо. Иегова иҭахуп бзиа ҳшибо, насгьы ҳагхақәа ранажьра дшазхиоу агәра ганы ҳаҟазарц. (Шәаԥхьа Аԥсалом 86:5; Римаа 8:38, 39.) Агәнаҳа аныҟаҳҵо, ҳаламыс ҳаргәаҟуеит. Ус ҳшоуп. Аха Иегова бзиа ҳаибаӡом, насгьы иҳанаижьӡом ҳәа ахәыцра ҟалаӡом. Еиҳа еиӷьхоит иаразнак ацхыраара ҳаҳәар. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Роберто иҳәоит: «Сара агәнаҳа ҟасҵеит, избанзар схы сақәгәыӷуан, насгьы ахыхра схала саиааиуеит ҳәа сгәы иаанагон». Иара еиликааит аизара ахылаԥшыҩцәа драцәажәар шихәҭаз. Роберто иациҵоит: «Аизара ахылаԥшыҩцәа рыла Иегова исеилиркааит бзиа сшибо. Аишьцәагьы бзиа сшырбоз еилыскааит. Дара исеилдыркааит Иегова сшаанимыжьыз». Ҳаргьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова бзиа ҳшибо. Иара хымԥада иҳанаижьуеит, ҳагхақәа ҳрыхьхәуазар, ацхыраара ҳашьҭазар, насгьы дырҩегь урҭ ҟаҳамҵарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар (1 Иоанн 1:8, 9). Иегова бзиа ҳшибо агәра ганы ҳаҟазар, ауадаҩрақәа ҳрықәшәаргьы, имаҵ шаҳаулац иҳаулоит.

Цәаныррас ишәоуазеи, аизара ахылаԥшыҩцәа шәыцхраарц шырҭаху аныжәбо? (Шәахәаԥш абзац 15.)


16. Избан иҟалалакгьы Иегова имаҵ аура шәзаҟәымҵуа?

16 Иегова ахә ҳаракны ишьоит имариам арҭ аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан имаҵ ахьаҳуа. Ҳхаҭа иҟаҳҵо агхақәа, мамзаргьы егьырҭ иҟарҵо агхақәа ирыхҟьаны ҳгәы анкаҳауа, Иегова имаҵ аура мариаӡам. Аха уеизгьы иара ицхыраарала анаҩсгьы имаҵ ҳаулар ҳалшоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь абзиабара еизҳарҳалар, насгьы ҳгәы анҳдырхьуа иранаҳажьлар ҳалшоит. Хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа еибыҳәаны еицырыӡбалар рылшоит. Убасала аҭаацәара аԥызҵаз бзиа дшырбо, пату шиқәырҵо аадырԥшуеит. Агәнаҳа ҟаҳҵазар, ҳара Иегова ицхыраара ҳашьҭоуп, ҳагәнаҳа шҳанаижьуа, бзиа ҳшибо агәра ҳгоит, насгьы анаҩсгьы имаҵ ҳуеит. Шәааи «ҳгәы камыжьӡакәа абзиара ҟаҳҵалап», усҟан Иегова меигӡарахда дшаҳзылԥхо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит! (Гал. 6:9)

ИҲАЦХРААУАЗЕИ АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА...

  • аиашьа ҳаниргәаауа, ма аиаҳәшьа?

  • ҳхатә ҩыза ҳгәы анкаижьуа?

  • ҳхы ҳгәы анахшәо?

АШӘА 139 Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

a Хьыӡқәак ԥсахуп.

b Абиблиа хаҵеи-ԥҳәыси хазы-хазы инхаларц ргәазҭанаҵаӡом. Уа еилыкка иануп уи хаҵеи-ԥҳәыси даҽаӡәы аҭаацәара ицалалара азин шырнамҭо. Аха ҭагылазаашьақәак рҿы ақьырсиан иӡбар илшоит хазы анхаразы амзыз ӷәӷәа имоуп ҳәа. Шәахәаԥш ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» аҿы Ацҵа 4 «Хаз-хазы анхара».

c Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы даҽа ҭаацәарак рҭоурых узырбо авидеонҵамҭа «Адунеи ишәыднагало аҭынчра шәамжьааит. Даррели Дебореи Фрисингер».