Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 9

АШӘА 75 «Абар, сахьыҟоу! Сышьҭы сара!»

Шәазхиоума шәыԥсҭазаара Анцәа изкра?

Шәазхиоума шәыԥсҭазаара Анцәа изкра?

«Исҭои Иегова изсыҟаиҵо абзиарақәа зегьы рзы?» (АԤСАЛ. 116:12).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова ҳаизааигәахар шҳалшо, иара убас ҳҽизаҳкырц, насгьы аӡы ҳаҽӡааҳхырц азы агәаҳәара еизҳарҳар шҳалшо.

1, 2. Иҟаҵатәузеи аӡы ҳаҽӡааҳхаанӡа?

 АҴЫХӘТӘАНТӘИ хәышықәса рыҩныҵҟа миллионҩык инареиҳаны аӡы рыҽӡаархит, насгьы Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалеит. Урҭ рҟынтә шьоукы актәи ашәышықәсазы инхоз Тимофеи иеиԥш иааижьҭеи аҵабырг рдыруеит (2 Тим. 3:14, 15). Даҽа шьоукы Иегова дырдырит ианеизҳа, егьырҭ — рықәрахь ианнеи. Иаҳҳәап, ԥҳәыск аӡы лыҽӡаалхит 97 шықәса анылхыҵуаз!

2 Шәара Абиблиа аҵара шәаҿызар, ма Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы ишәызҳауазар, шәазхәыцуама аҽӡаахра? Ари зеиԥшыҟам хықәкуп! Аха зны Иегова шәҽизышәкроуп. Ари астатиаҿы уи иаҵанакуа еилаҳкаауеит. Иара убас еилаҳкаауеит шьоукы ари ашьаҿа аҟаҵара зырзымгәаӷьуа, насгьы ашәара аиааира ирыцхраауа.

ИААНАГОЗЕИ АНЦӘА ИҼИЗКРА?

3. Изусҭцәадаз абиблиатә аамҭақәа раан Иегова изкыз ауаа?

3 Иаанагозеи Анцәа иҽизкра? Абиблиаҿы ажәа «азкра» иаанагоит «иԥшьоу ахықәказы алхра». Израильаа Иегова изкыз жәларын. Аха уи ажәлар рыбжьара иҟан Иегова ҷыдала иалихыз. Иаҳҳәап, Аарон. Аарон ихаз атиурбан ахьы иалхыз ицырцыруаз амаҭәар аман. Уи иаанарԥшуан иара иҷыдоу амаҵзура хкы анагӡаразы дшалхыз — ԥшьаҩ хадас амаҵ ауразы (Алев. 8:9). Аназореицәа ирызкынгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. «Аназореи» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа нази́р иаанагоит «иалху; иазку». Аназореицәа Моисеи изакәан ирыднаҵоз иҷыдаз аԥҟарақәа ирықәныҟәалар акәын (Ахыԥхь. 6:2—8).

4. а) Ихадахозеи Иегова зҽизызкыз ауаҩы иԥсҭазаараҿы? б) Иаанагозеи ҳхы мап ацәкра? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Ауаҩы иԥсҭазаара Иегова ианизикуа, Иисус Христос иҵаҩ иакәны дҟаларц, насгьы Анцәа игәҭакы анагӡара иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадахарц иӡбоит. Иарбан ҭакԥхықәроу Анцәа зҽизызкуа ауаҩы идло? Иисус иҳәеит: «Исышьҭаланы ацара зҭаху, ихы мап ацәикааит» (Матф. 16:24). Иегова зҽизызкыз ауаҩы Анцәа игәҭакы иаҿагыло зегь мап ацәикроуп (2 Кор. 5:14, 15). Ус анакәха, иара «агәаҳәара ҟьашьқәа» мап рцәикроуп, иаҳҳәап, асексуалтә ламысдара (Гал. 5:19—21; 1 Кор. 6:18). Идырцәгьома ас еиԥш иҟоу азакәанқәа шәыԥсҭазаара? Иегова бзиа дыжәбозар, насгьы изакәанқәа шәшырыхьчо агәра ганы шәыҟазар, идырцәгьаӡом (Аԥсал. 119:97; Ис. 48:17, 18). Ни́колас зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Ҳара Иегова инормақәа ахақәиҭра ҳамызхуа абахҭа арешоткақәа реиԥш ҳрыхәаԥшлар ҳалшоит, мамзаргьы ҳрыхәаԥшлар ҳалшоит алымқәа рҟынтә ҳзыхьчо арешоткақәа реиԥш».

Шәышԥарзыҟоу шәара Иегова инормақәа? Ахақәиҭра шәымызхуа арешотка еиԥш акәу, алымқәа рҟынтә шәзыхьчо, ашәарҭара шәацәызыхьчо арешотка еиԥш акәу? (Шәахәаԥш абзац 4.)


5. а) Иҽшԥеизикуеи ауаҩы Иегова? б) Излеиԥшымзеи Иегова иҽизкреи аӡы аҽӡаахреи? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

5 Иҽшԥеизикуеи ауаҩы Иегова? Уи азы Иегова лымкаала шәиҳәоит, насгьы ажәа ишәҭоит уажәшьҭа иара заҵәык имаҵ шыжәуло, иара убас игәҭакы анагӡара шәыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ишхадахо. Даҽакала иуҳәозар, шәара Иегова иашәҳәоит гәык-ԥсыкала бзиа дшыжәбало, шәыԥси шәыхшыҩи иара ишизышәкуа, шәымч-шәылшара иара изы шәшамеигӡало (Марк 12:30). Ауаҩы Иегова иҽшизикыз здыруа Иеговеи иареи заҵәык роуп. Аха аӡы иҽанӡааихуа, ауаа рҿаԥхьа иҽӡааихуеит. Убри алагьы идирбоит Анцәа иҽшизикыз. Анцәа зҽизызкыз аӡә иеиԥш шәара Анцәа ишәҭаз ажәа шәазиашазар ауп. Иегова уи дазыԥшуп (Еккл. 5:4, 5).

Иегова иҽизкра — уи Иегова лымкаала шәаниҳәо ауп. Шәара Анцәа ажәа ишәҭоит уажәшьҭа иара заҵәык имаҵ шыжәуло, иара убас игәҭакы анагӡара шәыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ишхадахо. (Шәахәаԥш абзац 5.)


ИЗБАН ИЕГОВА ИҼИЗКРА ИЗАԤСОУ?

6. Игәазҭазҵозеи ауаҩы иԥсҭазаара Иегова изкра?

6 Игәазҭазҵозеи ауаҩы иԥсҭазаара Иегова изкра? Игәазҭазҵо Анцәа иахь имоу абзиабара ауп. Уи абзиабара шьаҭас иамоу аемоциақәа рымацара ракәӡам. Иегова иахь шәыбзиабара еизҳауан «ииашоу, иҵаулоу адыррақәеи» «Анцәа идоуҳа иунаҭо аилкаареи» рыбзоурала (Кол. 1:9). Иԥшьоу Аҩыра ахьҭышәҵаауаз абзоурала шәара агәра жәгеит 1) Иегова дшыҟаҵәҟьоу, 2) Абиблиа — иара идоуҳа зҵоу Иажәа шакәу, 3) игәҭакы наигӡаларц азы иорганизациа ихы ишаирхәо.

7. Еилышәкаар шԥашәылшо Анцәа иҽизкра шәазхиоу-шәазхиаму?

7 Иегова зҽизызкуа Анцәа Иажәа иану ихадоу аҵабыргқәа рдыруеит, насгьы Анцәа инормақәа инарықәыршәаны инхоит. Дара рхаҵара атәы рҭагылазаашьақәа иахьынӡарылдыршо егьырҭ ирзеиҭарҳәоит (Матф. 28:19, 20). Иегова иахь ирымоу абзиабарагьы еизҳауеит, убри аҟынтә иара заҵәык имаҵ рулар рҭахуп. Шәара шәзгьы ус уҳәар алшома? Ааи акәзар, амҩа иаша шәануп. Шәара аӡы шәҽызӡаашәхуа шәҭаацәа ма Абиблиа шәзырҵо шәыргәырӷьарц азы, мамзаргьы шәҩызцәа рҽахьӡаархуа азы акәӡам. Шәара аӡы шәҽызӡаашәхуа Иегова иӷәӷәаны бзиа дахьыжәбо азоуп.

8. Иегова ишәзыҟаиҵаз зегь ахә шәшьозар, ишԥашәыцхраауеи уи иҽизкра? (Аԥсалом 116:12—14).

8 Иегова ишәзыҟаиҵаз зегь ахә шәшьозар, шәыԥсҭазаара изышәкырц шәҭаххоит. Уи агәаҳәара ахала ишәызцәырҵуеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 116:12—14.) Абиблиаҿы Иегова «инаӡоу аҳамҭа бзиақәа» ҳзыҟазҵо Аб ҳәа изҳәоуп (Иак. 1:17). Урҭ аҳамҭақәа рҟынтә зегьы иреиҳау Иԥа Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз ауп. Шәазхәыц! Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала ҳара Анцәа иҩызцәа бзиақәа ҳакәхар, насгьы наӡаӡа ҳанхалар ҳалшоит (1 Иоанн 4:9, 10, 19). Иегова шәҽизышәкыр, шәара иаашәырԥшуеит уи аҳамҭеи егьырҭ аҳамҭақәеи рыхә ҳаракны ишышәшьо (Ҩынтә. 16:17; 2 Кор. 5:15). Уи атема еилыргоуп ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» 46-тәи аурок, 4-тәи апункт аҿы. Уа иара убас иаагоуп х-минуҭк ицо авидеонҵамҭа «Анцәа иаҳҭо аҳамҭақәа».

ШӘАЗХИОУМА АНЦӘА ИҼИЗКРЕИ АӠЫ АҼӠААХРЕИ?

9. Избан иаҳхаҳмыршҭлар зҳахәҭоу ауаа доуҳала ишеизҳауа шеиԥшым?

9 Шәара макьана Иегова иҽизкреи аҽӡаахреи шәазхиаӡам ҳәа шәгәы иаанагозар алшоит. Иҟалап шәыԥсҭазаараҿы ԥсахрақәак ҟашәҵар акәзар, Иегова инормақәа шәрықәшәаларц азы. Мамзаргьы шәхаҵара ӷәӷәахарц азы еиҳаны аамҭа шәҭахызар ауеит (Кол. 2:6, 7). Абиблиа зҵо доуҳала ишеизҳауа еиԥшӡам. Иара убас арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи Иегова иҽизкреи аҽӡаахреи ианазхиоу рықәра еиԥшӡам. Шәҽазышәшәа хаҭала шәара аус здыжәулар шәыхәҭоу азхәыцра, насгьы шәхы егьырҭ ирыҿшәмырԥшлан (Гал. 6:4, 5).

10. Иҟашәҵалар шәылшозеи, макьана Иегова иҽизкреи аҽӡаахреи шәазхиамзаргьы? (Шәахәаԥш иара убас арамка « Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы изызҳауа рзы».)

10 Макьана шәыԥсҭазаара Иегова изкра шәазхиамзаргьы, уеизгьы уи ахықәкы анагӡара шәашьҭаз. Шәиҳәала Иегова иаҭаху аԥсахрақәа рыҟаҵара дшәыцхраарц (Флп. 2:13; 3:16). Агәра ганы шәыҟаз иара шәыҳәарақәа шиаҳауа, рҭакгьы шыҟаиҵо (1 Иоанн 5:14).

ШЬОУКЫ ААМҬА ЗЫРГО

11. Дышԥаҳацхраауеи Иегова ҳизиашаны аанхара?

11 Шьоукы Анцәа иҽизкреи аҽӡаахреи иазхиоуп, аха уи ашьаҿа аҟаҵара рзыгәаӷьӡом. Дара шәозар алшоит агәнаҳа ӷәӷәа ҟарҵар, насгьы аизара иалырцар ҳәа. Шәаргьы уи аҩыза ашәара шәымазар, агәра ганы шәыҟаз Иегова дышшәыцхраауа игәы иахәо аҟаҵара (Кол. 1:10). Иара убас иара ииашаны шәхы мҩаԥыжәгаларц азы амч шәиҭалоит. Имаҷымкәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿырԥштәқәа ишьақәдырӷәӷәоит Анцәа уиқәгәыӷыртә дшыҟоу (1 Кор. 10:13). Ақьырсиантә еизара иалырцо рхыԥхьаӡара уиаҟара ирацәаӡам. Уи ишьақәнарӷәӷәоит Иегова имаҵзуҩцәа изиашаны аанхара дышрыцхраауа.

12. Иҳацхраауазеи агәнаҳа ӷәӷәақәа рҽырцәыхьчара?

12 Инаӡам ауаа зегьы ихызхыр алшо акы иақәшәоит (Иак. 1:14). Уи шәҽашәҭоу шәаҿагылоу шәара шәоуп изыӡбо. Шәара шәоуп изыӡбо шәхы шымҩаԥыжәгаша. Шьоукы уи ҟалашьа амам ҳәа рҳәозаргьы, шәара шәгәаҳәарақәа рынкылашьа шәҵар шәылшоит. Гәаҳәарақәак рхы цәырыргозаргьы, шәара урҭ рынкылара шәылшоит. Абар агәнаҳа аиааира ишәыцхраауа лабжьарақәак: есыҽны Анцәа шәиҳәала, Абиблиа аԥхьаразы аграфик шьақәшәыргыл, насгьы уи шәықәныҟәала, аизарақәа шәырҭаала, еилышәкаауа егьырҭ ирзеиҭашәҳәала. Усҟан Анцәа шәҽанизышәкыз ишәҭаз ажәа инақәыршәаны анхаразы амч шәымазаауеит. Ахаангьы ишәхашәмыршҭын Иегова еснагь дышшәыцхраало (Гал. 5:16).

13. Иарбан ҿырԥшу Иосиф иаҳзынижьыз?

13 Анцәа ишәҭаз ажәа инақәыршәаны анхара еиҳа ишәзымариахоит, ахыхра шәанақәшәалак шәхы шымҩаԥыжәго заа ишәыӡбар. Абиблиаҿы ахыхра зҽазымҭаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ануп. Ҳахәаԥшып Иосиф иҿырԥшы. Потифар иԥҳәыс уи зныкымкәа ихыхра дашьҭан. Аха иара ибзианы идыруан ихы шымҩаԥигашаз. Абиблиаҿы иануп «мап лцәикуан» ҳәа. Иара ус леиҳәон: «Абри аҩыза ацәгьара уны, Анцәа иҿаԥхьа агәнаҳа шԥаҟасҵо?» (Аҟаз. 39:8—10). Иубаратәы иҟоуп Иосиф уи аԥҳәыс ихыхра далагаанӡагьы ибзианы ишидыруаз ихы шымҩаԥигаша. Убри аҟынтә иара изымариан ахыхра данақәшәа ииашаны ихы амҩаԥгара.

14. Ишԥаҳалшо Иегова ицәымӷу мап ацәкышьа аҵара?

14 Ишԥашәылшо Иосиф шәиҿыԥшлар? Шәхызхыр алшо акы шәанақәшәо иҟашәҵаша уажәнатә ишәыӡба. Иегова ицәымӷу иаразнак мап ацәкышьа шәҵала. Иегова игәы изырхьуа шәагьазымхәыцлан (Аԥсал. 97:10; 119:165). Усҟан ахыхра шәаиааир шәылшоит. Шәара заа ижәдыруазаауеит иҟашәҵаша. Иҟашәҵо шәзымдыруа, шәлакҩакуа шәықәхаӡом.

15. Иааирԥшыр шԥаилшо ауаҩы «гәык-ԥсыкала» Иегова иԥшаара дшашьҭоу? (Ауриацәа 11:6).

15 Аха иҟашәҵар шәылшозеи аҵабырг шеилышәкааз агәра ганы шәыҟазар, насгьы Иегова гәыкала имаҵ аура шәҭахызар, аха иҽизкреи аҽӡаахреи шәзымгәаӷьуазар? Усҟан аҳ Давид шәиҿыԥшлар шәылшоит. Иегова шәиҳәала: «Сынцәа, суҳәоит, сгәы ҭҵаа, сзеиԥшра уаҩу еилкаа, игәаҭ сгәы иҵхо схәыцрақәа. Суҳәоит, игәаҭ сгәы иҽеим акахьы исыхоу-исмыхоу. Сыԥсахла, наӡаӡа сынхаларц азы» (Аԥсал. 139:23, 24). Убасала иаашәырԥшуеит Иегова ицхыраара шәшашьҭоу, насгьы ишәылшо зегь шыҟашәҵо шәхықәкы нашәыгӡарц азы — Анцәа шәыҽизкны шәыҽӡаашәхырц азы. Иегова «гәык-ԥсыкала иԥшаара иашьҭоу» дырзылԥхоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 11:6.)

АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ШӘИЗААИГӘАХАЛА

16, 17. Ишԥааиго Иегова иара иахь ақьырсиантә ҭаацәараҿы изызҳауа? (Иоанн 6:44).

16 Иисус иҳәеит аӡәымзар-аӡәгьы иара диҵаҩны дышзыҟамло, Иегова уи дааимгар. (Шәаԥхьа Иоанн 6:44.) Шәазхәыц убри, насгьы шәазхәыц уи шәара шәзы иаанаго! Иегова иара иахь иааиго зегьы рҿы ибзиоу ак гәеиҭоит. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы «иҷыдоу имазара», мамзаргьы «зыхә ҳараку имазара», иакәны диԥхьаӡоит (Ҩынтә. 7:6, албаага). Шәаргьы иара изы шәыхә ҳаракуп.

17 Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳҿар рзы? Уани уаби Иегова ишаҳаҭцәа ракәзар, аизарахь узныҟәо уҭаацәа ахьныҟәо азы акәушәа угәы иабозар алшоит. Ус акәзар, иугәаларшәа Абиблиа иану абарҭ ажәақәа: «Шәизааигәаха Анцәа, усҟан иаргьы дышәзааигәахоит» (Иак. 4:8; 1 Аш. 28:9). Иегова уизааигәахарц азы уара ашьаҿақәа аныҟауҵо, иаргьы дузааигәахоит. Иегова уара хаҭала уидыруеит. Иегова иара иахь инеиго зегьы хаҭала идыруеит, Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы изызҳауагьы уахь иналаҵаны. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы раԥхьа Анцәа иахь ашьаҿа аныҟаиҵо, Анцәагьы иара иахь ашьаҿа ҟаиҵоит, Иаков 4:8 аҿы ишану еиԥш. (Иаҿшәырԥш 2 Фессалоникаа 2:13.)

18. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы? (Аԥсалом 40:8).

18 Иегова шәҽанизышәкуа, насгьы аӡы шәҽанӡаашәхуа, Иисус шәиҿыԥшуеит. Иара Иаб идиҵоз зегьы гәыкала инаигӡон (шәаԥхьа Аԥсалом 40:8; Аур. 10:7). Анаҩстәи астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь Иегова гәыкала имаҵ аура ишәыцхраауа.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаанагозеи уԥсҭазаара Иегова изкра?

  • Иегова ишәзыҟаиҵаз зегь ахә шәшьозар, ишԥашәыцхраауеи уи иҽизкра?

  • Ишәыцхраауазеи агәнаҳа ӷәӷәақәа шәхы рцәыхьчара?

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит