Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 47

АШӘА 103 Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»

Аишьцәа, хықәкыс ишәымоума аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара?

Аишьцәа, хықәкыс ишәымоума аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара?

«Хылаԥшҩыс аҟалара зҭаху аус бзиа дашьҭоуп» (1 ТИМ. 3:1).

ЕИЛАҲКААУА

Аизара ахылаԥшҩыс амаҵ аура зҭаху аиашьа илазар ахәҭоу аҟазшьақәа.

1, 2. Иарбан усу аизара ахылаԥшыҩцәа инарыгӡо?

 УАРА аизара ацхырааҩыс амаҵ аура уалагахьазар, иаҳҳәар ҳалшоит аизара ахылаԥшҩыс уҟаларц азы маҷк угуп ҳәа. Уҽазушәома уара уи аус бзиахь ухы архара? (1 Тим. 3:1).

2 Иаҵанакуазеи уи «аус» ахь? Аизара ахылаԥшыҩцәа гәацԥыҳәарала аизара иалахәу ажәабжь рыцырҳәоит, згәы шьҭыхтәу ирҭаауеит, аҵара ддырҵоит, насгьы рцәажәашьеи рхымҩаԥгашьеи рҿы аҿырԥш бзиа рырҭоит, убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара дырӷәӷәоит. Убри азоуп Абиблиаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа аҳамҭақәа ҳәа зрызҳәоу (Еф. 4:8).

3. Иҟаиҵар ихәҭоузеи аиашьа, аизара ахылаԥшҩыс дҟаларц азы? (1 Тимофеи 3:1—7; Тит 1:5—9).

3 Иҟаиҵар ихәҭоузеи аиашьа, аизара ахылаԥшҩыс дҟаларц азы? Уи азы ҟазарақәак илазар мацара азхаӡом. Аиашьа жәабжьҳәаҩ бзианы, насгьы рҵаҩ бзианы дыҟазар ауп. Аха уи адагьы, 1 Тимофеи 3:1—7, насгьы Тит 1:5—9 (шәаԥхьа) аҿы зыӡбахә ану аҭахрақәа дрықәшәозароуп. Ари астатиаҿы урҭ рҟынтә ҭахрақәак ҳрылацәажәоит. Ҳара еилаҳкаауеит аиашьа ахьӡ бзиа имазарц азы, иҿырԥшыгоу аҭаацәара ахада иакәны дыҟазарц азы, насгьы аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала рымаҵ иуларц азы иҟаиҵар ихәҭоу.

АХЬӠ БЗИА

4. Иаанагозеи вба амамзаара?

4 Аизара ахылаԥшҩыс уҟаларц азы вба умамзар ауп, даҽакала иуҳәозар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ибзианы иухцәажәалароуп, ухымҩаԥгашьагьы бзиазароуп. Уи адагьы, «аизара иатәым ибзианы... [иухцәажәозар] ауп». Ҳәарада, Иегова имаҵ зымуа ауаа ухаҵара акритика азырулар рылшоит, аха ухымҩаԥгашьа аганахь ала аҳәатәы румҭароуп (Дан. 6:4, 5). Ухы уазҵаа: «Иарбан гәаанагароу сганахь ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи, иара убас Иегова ишаҳаҭым ауаа ирымоу?»

5. Иаанагозеи «аус бзиақәа бзиа [рбара]»?

5 «Аус бзиақәа бзиа [рбара]» иаанагоит егьырҭ рус бзиақәеи рҟазшьа бзиақәеи ргәаҭара, насгьы урҭ рзы рырҽхәара. Уи адагьы, уи иаанагоит ауаа уара уҟынтә иззыԥшу аасҭа еиҳаны абзиарақәа рзыҟаҵара (1 Фес. 2:8; шәахәаԥш англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы Тит 1:8 ахь иаагоу акомментари, ажәақәа «аус бзиақәа бзиа ибалароуп»). Избан аизара ахылаԥшыҩцәа рзы уи зхадоу? Избанзар аиашьа аус бзиақәа рыҟаҵара бзиа ибозар, иду адҵақәа рынагӡареи аизара ахылаԥшреи аамҭа рацәаны иазиклоит (1 Пиотр 5:1—3). Уи ирацәаны имч ақәирӡуазаргьы, егьырҭ рымаҵ аура агәырӷьара ду изаанагалоит (Аус. 20:35).

6. Иаанагозеи асасдкылара злоу уаҩны аҟазаара? (Ауриацәа 13:2, 16; шәахәаԥш иара убас асахьа).

6 «Асасдкылара» илазароуп иаанагоит егьырҭ рзы абзиара аҟаҵара, урҭ ҳҩызцәа гәакьақәа рыкәымзаргьы (1 Пиотр 4:9). Абиблиатә еилыркаагак аҿы асасдкылара злоу ауаҩы изкны абас ануп: «Уи изымдыруа ауаа рзы иҩнашәи игәи еснагь иҟьаҟьаӡа иаартуп». Ухы уазҵаа: «Сырдыруама сара аизарахь иааиуа асасцәа гәыкала издызкыло ауаҩ иеиԥш?» (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:2, 16.) Асасдкылара злоу ауаҩы имоу егьырҭ ирыцеиҩишоит. Егьырҭ рахь иаҵанакуеит иӷару ауаа, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхрааларц азы гәыкала аџьабаа збо Иегова имаҵзуҩцәа, иаҳҳәап, ажәахә зманы иқәгыларц иааз аишьцәа ма араион ахылаԥшыҩцәа (Аҟаз. 18:2—8; Ажәам. 3:27; Лука 14:13, 14; Аус. 16:15; Рим. 12:13).

Асасдкылара злоу иқьырсиану хаҵеи-ԥҳәыси араион ахылаԥшҩы иԥшәмеи иареи рыҩны ирыдыркылоит. (Шәахәаԥш абзац 6.)


7. Иаанагозеи ажәақәа «аԥара бзиа имбалароуп»?

7 «Аԥара бзиа [иумбалароуп]», даҽакала иуҳәозар, уи уԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадамзароуп. Шаҟа урҳауазаалакгьы, Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иргылала (Матф. 6:33). Уаамҭа, умч, насгьы уԥара Иегова иуси, уҭаацәареи, аизареи ирызкла (Матф. 6:24; 1 Иоанн 2:15—17). Ухы уазҵаа: «Сышԥазыҟоу аԥара? Исымоу сызсырхома, мамзаргьы хықәкы хадас исымоу еиҳаны аԥара арҳареи еснагь иҿыцу ак аахәареи акәу?» (1 Тим. 6:6, 17—19).

8. Иаанагозеи ушьцыларақәа рыцклаԥшра, насгьы аҽынкылара аарԥшра?

8 Аизара ахылаԥшҩы «ишьцыларақәа дрыцклаԥшлароуп», насгьы «аҽынкылара имазароуп». Даҽакала иуҳәозар, афатәи арыжәтәи амцхә иҽадимцалалароуп, аԥсшьареи агәырҿыхагақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҿы ииашоу алхра ҟаиҵалароуп, иҽеилаҳәашьа апатуқәҵара аныԥшуазароуп, уҳәа убас иҵегьы. Иара убас уи иаанагоит аизара ахылаԥшҩы Иегова имаҵ зымуа ауаа иҽеим рхымҩаԥгашьа даҿымԥшлар шакәу (Лука 21:34; Иак. 4:4). Уи адагьы, игәы анԥыржәо, аҭынчра ихьчалароуп. Аизара ахылаԥшҩы «арыжәтә иҽеимыршьлароуп», насгьы амцхә арыжәтә зжәуа ҳәа ахьӡ имамзар ауп. Ухы уазҵаа: «Иубарҭоума сыԥсҭазаашьала сышьцыларақәа сышрыцклаԥшуа, насгьы аҽынкылара шсымоу?»

9. Дзеиԥшроузеи ииашаны ихәыцуа, насгьы еиҿкаау ауаҩы?

9 «Ииашаны дхәыцуазароуп», даҽакала иуҳәозар, аӡбарақәа анидикыло абиблиатә принципқәа ихы иаирхәозароуп. Ииашаны ихәыцуа ауаҩы урҭ апринципқәа инарҵауланы дрызхәыцуеит, убас аилкаара аарԥшышьа иҵоит. Иара дыццакны алкаа ҟаиҵаӡом, аха афактқәа зегьы реизгара иҽазишәоит (Ажәам. 18:13). Иӡбарақәа аҟәышра рыҵоуп, Иегова ихәаԥшышьагьы рныԥшуеит. «Деиҿкаазароуп», даҽакала иуҳәозар, зегь ианаамҭоу иҟаиҵозароуп. Аиҿкаара злоу ауаҩы уиқәгәыӷлар улшоит, иара еснагь анапхгара дықәныҟәоит. Еиқәаҳаԥхьаӡаз аҭахрақәа урықәшәалар, ахьӡ бзиа урҳауеит. Шәааи уажәшьҭа ҳалацәажәап аҭаацәара хадас иҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа иҟарҵалар рыхәҭоу.

АҬААЦӘАРА АИҶАҲАРА

10. Ишԥаулшо уҭаацәа ибзианы хадара рзура?

10 Уара уҭаацәаразар, насгьы аизара ахылаԥшҩыс уҟаларц уҭахызар, уҭаацәара иатәу зегьы ахьӡ бзиа рымазароуп. Убри аҟынтә «уҭаацәа ибзианы хадара [рзууазароуп]». Уара бзиабарала уҭаацәа уреиҷаҳалароуп, насгьы урҭ ирыхәаша аӡбарақәа удукылалароуп. Ус анакәха, аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥугалароуп, иара убас уԥшәмаԥҳәыси ухәыҷқәеи аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи урыцхраалароуп. Избан уи зхадоу? Апостол Павел иҩит: «Ауаҩы иҭаацәа хадара рзура илымшозар, Анцәа иеизара дызлахылаԥшлои?» (1 Тим. 3:5).

11, 12. Ишԥаныруеи ахәыҷқәа рхымҩаԥгашьа аиашьа аизара ахылаԥшҩыс амаҵ иулоу-имулоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Уара зықәра наӡам ахәыҷқәа умазар, урҭ «ааӡазароуп, уҳәатәы харҵозароуп». Урҭ бзиабарала иуааӡалароуп. Ҳәарада, аҳәыҷқәа хәыҷқәоуп, ахәмарреи аччареи бзиа ирбоит. Аха аҭаацәа рзыӡырҩшьеи, ауаа пату рықәҵашьеи, ибзианы ахымҩаԥгашьеи дырҵалатәуп. Уи адагьы, уара иулшо зегь ҟауҵароуп ухәыҷқәа Анцәа иҩызцәахарц, насгьы абиблиатә принципқәа рыла инхаларц азы, иара убас аҽӡаахра хықәкыс иқәыргыланы, уи нарыгӡарц азы.

12 «Ихәыҷқәа Анцәа дхарҵозароуп. Урҭ рхымҩаԥгашьа ҽеиӡам, иааӡаӡам ҳәа рзырымҳәозароуп». Иӡааху ахәыҷы ма аҽӡаахра хықәкыс иқәзыргылаз ахәыҷы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар, ианырыр шԥалшо уи аизараҿы аб иду аҭакԥхықәрақәа? Иара ихәыҷы аҵабырг изеиҭеимҳәозҭгьы, иеилимыркаауазҭгьы, аизара ахылаԥшҩы изы иҟоу аҭахрақәа дрықәшәаӡом. (Шәахәаԥш 1996 шықәса, октиабр 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 21, абзацқәа 6, 7 [аурыс].)

Аҭаацәара ахадацәа рхәыҷқәа Иеговеи аизареи рзы аџьабаа абашьа ддырҵалароуп. (Шәахәаԥш абзац 11.)


АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РЕИҶАҲАРА

13. Дзеиԥшроузеи иҟәымшәышәу ауаҩы? Дзеиԥшроузеи зҳәатәы иазмырго ауаҩы?

13 Ақьырсиантә ҟазшьақәа аазырԥшуа аишьцәа аизаразы ҳамҭоуп. «Иҟәымшәышәу» ауаҩы ауааи иареи реизыҟазаашьақәа бзиоуп, егьырҭгьы аҭынчра рыбжьазарц дрыцхраауеит. Уи адагьы, иара егьырҭ ауаа дырзыӡырҩуеит, насгьы ргәаанагара аилкаара иҽазишәоит. Ухаҿы иааг уара аизара ахылаԥшҩыс уҟоушәа. Аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак имҩаԥырго аиқәшәараҿы аишьцәа реиҳараҩык ирыдыркылаз аӡбара уиаҟара иугәаԥхаӡом. Ухы шԥамҩаԥуго, уи аӡбара абиблиатә принципқәа ирҿамгылозар? Уақәшаҳаҭхома аиҳараҩык ирҳәаз? Аизара ахылаԥшҩыс аҟалара зҭаху аиашьа «иҳәатәы иаимыргалароуп». Ус анакәха, иара ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо ҟарҵарц рыдимцалалароуп. Иара еиликаауеит егьырҭ ргәаанагарагьы шхадоу (Аҟаз. 13:8, 9; Ажәам. 15:22). Аизара ахылаԥшҩы иара убас «аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп», насгьы «зыԥсахы еибакуа... дреиуамзароуп». Уи иаанагоит егьырҭ ихжәаны рацәажәареи ажәа рымакреи шыҟамло. Иара ататареи апатуқәҵареи злоу уаҩызароуп, имариам аҭагылазаашьақәа рҿгьы аҭынчра ахьчаразы илшо зегьы ҟаиҵалароуп (Иак. 3:17, 18). Ақьиара зныԥшуа ҭынч иҳәоу ажәақәа аҭагылазаашьа рыԥсахыр алшоит. Уи еиҳараӡак ихадоуп Иегова ишаҳаҭцәа уиаҟара изгәамԥхо ауаа ҳанрацәажәо (Аӡб. 8:1—3; Ажәам. 20:3; 25:15; Матф. 5:23, 24).

14. Иаанагозеи «ааигәа аӡы зыҽӡаазххьоу иакәымзароуп» ҳәа иҳәоу ажәақәа? Иаанагозеи «гәыкала Анцәа дизиашазароуп» ҳәа иҳәоу ажәақәа?

14 Аизара ахылаԥшҩыс аҟалара зҭаху аиашьа «ааигәа аӡы зыҽӡаазххьоу иакәымзароуп». Ҳәарада, уи иаанагаӡом иҽӡааихижьҭеи акыршықәса ҵхьазароуп ҳәа. Аха доуҳала ишәу қьырсианны дҟаларц азы, ҳәарада, аамҭа аҭахуп. Иисус уиҿыԥшла, уи уцхраауеит ахынраалара аарԥшра, аизараҿы иуду адҵақәа гәыкала рынагӡара, насгьы Иегова иҵегьы аҭакԥхықәрақәа удиҵаанӡа ачҳара аарԥшны аԥшра (Матф. 20:23; Флп. 2:5—8). Уи адагьы, аизара ахылаԥшҩы «гәыкала Анцәа дизиашазароуп». Даҽакала иуҳәозар, Иегова ииашоу инормақәа рыла дынхалароуп, насгьы Анцәа иорганизациа ала иҳаиҭо амҩақәҵарақәа дрықәныҟәалароуп (1 Тим. 4:15).

15. Дыҟазароума аизара ахылаԥшҩы ажәахә аҳәара дазҟазаны? Иҳаилшәыркаа.

15 Абиблиаҿы еилыкка иануп аизара ахылаԥшҩы «арҵара дазҟазазароуп» ҳәа. Иаанагома уи ажәахә аҳәара уазҟазазароуп ҳәа? Мап. Аҿапыц бзиа аизара ахылаԥшыҩцәа зегьы ирҿамзар ауеит, убри аҟынтә ажәахәқәа шырҳәо еиԥшӡам. (Шәахәаԥш англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы 1 Тимофеи 3:2 ахь иаагоу акомментари, ажәақәа «арҵара дазҟазазароуп»; иаҿшәырԥш 1 Коринфаа 12:28, 29, насгьы Ефесаа 4:11.) Ус шакәугьы, аизара ахылаԥшҩы ажәабжь аниҳәо, ма аишьцәеи аиҳәшьцәеи данырҭаауа, урҭ акы дирҵарц, насгьы ргәы шьҭихырц азы Абиблиа ҟазарыла ахархәашьа идыруазароуп. Убри азы ирҵаратә ҟазара еснагь еизирҳалароуп. Иуцхраауазеи уи аҿы?

16. Ишԥаулшо рҵаҩ бзианы аҟалара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Аизара ахылаԥшҩы «ииашоу Анцәа иажәа дахымԥалароуп». Ус акәзар, асцена аҟынтә уанықәгыло, ма хаҭала аӡәы алабжьара аниуҭо, иухоумыршҭлан иуҳәо еснагь Иԥшьоу Аҩыра шьаҭас иамазар шахәҭоу. Абиблиеи ҳлитературеи угәы ақәкны иҭҵаала (Ажәам. 15:28; 16:23; шәахәаԥш англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы Тит 1:9 ахь иаагоу акомментари, ажәақәа «ииашоу Анцәа иажәа дахымԥалароуп»). Уи анҭуҵаауа, абиблиатә жәеинраалақәа рҵакы еилкаала, усҟан урҭ ииашаны рхархәара улшоит. Егьырҭ ианыдурҵо, иуҳәо ргәы аҟынӡа анагара уҽазышәала. Аҟазара злоу рҵаҩны уҟаларц азы аԥышәа змоу аизара ахылаԥшыҩцәа уҽеиӷьутәыр ахьулшо уарҳәарц урыҳәала. Анаҩс иурҭо алабжьарақәа урықәныҟәала (1 Тим. 5:17). Аизара ахылаԥшыҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи «ргәы [шьҭырхлароуп]». Аха зны-зынла алабжьарақәа рырҭалароуп, насгьы «иахьиашам [ддырбалароуп]». Ишыҟазаалакгьы, зегьы қьиарала иҟаҵалатәуп. Уара ахаареи абзиабареи аарԥшны егьырҭ урацәажәозар, насгьы ируҭо алабжьара Абиблиа шьаҭас иамазар, уи Арҵаҩ ду, Иисус Христос, ушиҿыԥшуа аанарԥшуеит (Матф. 11:28—30; 2 Тим. 2:24).

Аизара ацхырааҩ Абиблиа ихы иархәаны егьырҭ ргәы ашьҭыхшьа иҵоит; уи аҿы аԥышәа змоу аизара ахылаԥшҩы дицхраауеит. Уи аизара ацхырааҩ асаркьа дадгыланы ажәахә иҽазыҟаиҵоит. (Шәахәаԥш абзац 16.)


ШӘХЫҚӘКЫ НАШӘЫГӠААНӠА ШӘГӘЫ КАШӘМЫЖЬЫН

17. а) Иҟарҵалар бзиоузеи аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара зҭаху аизара ацхырааҩцәа? б) Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи аизара ахылаԥшыҩцәа, аиашьа аизара ахылаԥшҩы изы иҟоу аҭахрақәа дрықәшәоу-дрықәымшәоу анырыӡбо? (Шәахәаԥш арамка « Аизара ахылаԥшыҩцәа, аҟәышра аашәырԥшла».)

17 Аизара ацхырааҩцәа шьоукы ргәы иаанагоит ахаан аизара ахылаԥшыҩцәас изыҟалаӡом ҳәа. Дара ргәы иаанагоит ҳазлацәажәаз аҭахрақәа ахаан изрықәшәалаӡом ҳәа. Аха иухоумыршҭын Иеговагьы иорганизациагьы уара уҟынтә анаӡара ишазыԥшым (1 Пиотр 2:21). Уи адагьы, иухоумыршҭлан Иегова ахаан ухала ушаанимыжьуа. Иара дуцхраауеит — иԥшьоу адоуҳа уиҭоит (Флп. 2:13). Иҟоума еиқәыԥхьаӡоу аҭахрақәа зегь рҟынтә аус здууларц уҭаху акы? Ус акәзар, Иегова уиҳәа, ҳлитератураҿы уи иазку аинформациа ԥшаа, насгьы уҽеиӷьутәыр ахьулшо аизара ахылаԥшыҩцәа уразҵаа.

18. Иарбан хықәку аизара ацхырааҩцәа иқәдыргылар рыхәҭоу?

18 Ҳара зегьы, аизара ахылаԥшыҩцәас амаҵ аура иалагахьоу аишьцәагьы, ари астатиаҿы еилҳаргаз аҟазшьақәа еизҳарҳалароуп (Флп. 3:16). Уара аизара ацхырааҩ уоума? Ус акәзар, аизаразы еиҳаны аҟаҵара хықәкыс иқәыргыл. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны рыцхраара улшарц азы Иегова аҵара уирҵаларц, насгьы аҟазшьа бзиақәа реизырҳара дуцхрааларц уиҳәала (Ис. 64:8). Агәра ганы уҟаз Иегова аизара ахылаԥшҩыс аҟаларазы иумоу агәаҳәара хымԥада дшазылԥхо!

АШӘА 101 Ҳаидгыланы аус еицаҳуеит