Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 46

АШӘА 49 Иегова дыргәырӷьала

Аишьцәа, хықәкыс ишәымоума аизара ацхырааҩцәас аҟалара?

Аишьцәа, хықәкыс ишәымоума аизара ацхырааҩцәас аҟалара?

«Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» (АУС. 20:35).

ЕИЛАҲКААУА

Аишьцәа аизара ацхырааҩцәас аҟалара ирыцхраауа.

1. Дышԥарзыҟаз апостол Павел аизара ацхырааҩцәа?

 АИЗАРА ацхырааҩцәа даара ихадоу аус нарыгӡоит. Апостол Павел гәыкала Анцәа изыҟаз урҭ ахацәа рыхә ҳаракны ишьон. Иаҳҳәап, Филипп инхоз ақьырсианцәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа реиԥш, аизара ацхырааҩцәагьы иалкааны асалам риҭеит (Флп. 1:1).

2. Дышԥазыҟоу Луис аизара ацхырааҩыс амаҵ ахьиуа?

2 Аизара ацхырааҩцәас амаҵ руеит қәрала еиԥшым иӡааху аишьцәа. Иаҳҳәап, Де́ван зыхьӡу аиашьа 18 шықәса анихыҵуаз аизара ацхырааҩыс дҟалеит, Лу́ис иакәзар, 50 шықәса дырҭысхьан аизара ацхырааҩыс даныҟала. Ари амаҵзура аишьцәа агәырӷьара ду рзаанагоит. Луис иҳәоит: «Сара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рымаҵ ахьызуа насыԥ снаҭоит! Дара сара сахь абзиабара аадырԥшуеит, убри аҟынтә саргьы даара исҭахуп дара рзы ак ҟасҵаларц». Адунеи зегь аҿы инхо аишьцәа аӡәырҩы уи иқәшаҳаҭуп.

3. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

3 Уара иӡааху аиашьа уакәзар, аха макьана аизара ацхырааҩыс уҟамзар, уи аҩыза ахықәкы ықәургыларц уазхәыц. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит иарбан мотивқәоу иумазар акәу, насгьы иарбан библиатә ҭахрақәоу узықәшәалар ухәҭоу. Аха раԥхьа ҳалацәажәап аизара ацхырааҩцәа инарыгӡо аус.

АИЗАРА АЦХЫРААҨЦӘА ИРЫДУ АДҴАҚӘА

4. Иарбан усу аизара ацхырааҩцәа инарыгӡо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Аизара ацхырааҩ — уи аизара ахылаԥшыҩцәа еиуеиԥшым адҵақәа рынагӡара ирыцхраауа иԥшьоу адоуҳала иалху иӡааху иашьоуп. Аизара ацхырааҩцәа шьоукы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирызхаша алитературеи ажәабжьҳәаразы аучастокқәеи рымазарц иахылаԥшуеит. Егьырҭ Аҳратә зал аилыргареи ахылаԥшреи иацхраауеит. Аизарақәа раан дара аиҿкаара иацклаԥшуеит, иара убас аудио-, насгьы авидеоаппаратура еиқәдыршәоит. Аизара ацхырааҩцәа рыдҵақәа еиҳарак аизара ацхыраара ауп изызку. Аха дара Иегова бзиа дахьырбо, инормақәагьы иахьрықәныҟәо ала зегьы ирылукаауеит. Уи адагьы, дара рхаҵара рыцеиҩызшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала бзиа ирбоит (Матф. 22:37—39). Ишԥаилшо иӡааху аиашьа аизара ацхырааҩыс дҟалар?

Аизара ацхырааҩцәа Иисус иҿыԥшуеит, насгьы гәыкала егьырҭ рымаҵ руеит. (Шәахәаԥш абзац 4.)


5. Иҟаиҵар акәзеи аиашьа, аизара ацхырааҩыс дҟаларц азы?

5 Аизара ацхырааҩцәа рзы иҟоу аҭахрақәа Абиблиаҿы иануп (1 Тим. 3:8—10, 12, 13). Урҭ ибзианы иҭҵаа, насгьы урықәшәаларц азы иулшо зегь ҟаҵала. Аха зегь раԥхьа иргыланы аизара ацхырааҩыс аҟалара зуҭаху уазхәыц.

УМОТИВҚӘА ЗЕИԤШРАЗАР АКӘУ

6. Игәазҭазҵалар акәзеи аиашьа аизараҿы егьырҭ рымаҵ аура? (Матфеи 20:28; шәахәаԥш иара убас асахьа).

6 Ҳара ҿырԥшы хадас иҳамоу Иисус Христос иоуп. Иара Иабгьы ауаагьы бзиа ибоит. Уи абзиабара игәазҭанаҵон ихы дамеигӡаӡакәа аџьабаа абареи уиаҟара пату змам ҳәа иԥхьаӡаз аус анагӡареи (шәаԥхьа Матфеи 20:28; Иоанн 13:5, 14, 15). Уара абзиабара улазар, Иегова дуцхраауеит аизара ацхырааҩыс аҟаларазы иумо ахықәкы анагӡара (1 Кор. 16:14; 1 Пиотр 5:5).

Иисус ихатә ҿырԥшала иапостолцәа идирбон ахынраалара аарԥшны егьырҭ рымаҵ аура шаҭаху, аҭыԥ бзиа ашьҭалара акәымкәа. (Шәахәаԥш абзац 6.)


7. Избан аизара ацхырааҩцәас аҟалара зҭаху аишьцәа иԥагьамзар, рхы ҳаракны ирымбалар зрыхәҭоу?

7 Ари адунеи аҿы зхы ӡырызго ауаа еиҳа ҳаҭыр рықәуп. Аха Иегова иорганизациаҿы ус иҟаӡам. Иисус иеиԥш, абзиабара злоу аишьцәа аизараҿы амчреи аҭыԥ ду аанкылареи иашьҭаӡам. Аԥагьара злоу, зхы ҳаракны избо ауаҩы аизара ахылаԥшҩыс, ма аизара ацхырааҩыс дҟалар, уиаҟара иубарҭам адҵақәа рынагӡара мап ацәикыр ауеит. Аха урҭ адҵақәа зыхә ҳараку Иегова иуасақәа рхылаԥшразы даара ихадоуп. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы урҭ рҩызцәа адҵақәа рынагӡара иаҭәаимшьар алшоит (Иоанн 10:12). Иегова ахаангьы дырзылԥхалаӡом аԥагьара злоу, зхы ҳаракны избо ауаа (1 Кор. 10:24, 33; 13:4, 5).

8. Иреилиркаазеи Иисус иапостолцәа?

8 Иисус изааигәаз иҩызцәагьы зны-зынла ииашамыз амотивқәа рыман. Иаҳгәалаҳаршәап ҩыџьа апостолцәа, Иакови Иоанни, иҟарҵаз. Дара Иисус иаҳраҿы аҭыԥ бзиа иаҳәеит. Иахиҳәаазеи уи Иисус? Иара урҭ уи азы имырҽхәаӡеит. 12-ҩык иапостолцәа абас реиҳәеит: «Шәыбжьара амчра ду иашьҭоу дышәмаҵуҩхароуп, аҭыԥ ду иашьҭоу — шәымаҵ иулароуп» (Марк 10:35—37, 43, 44). Ииашоу амотивқәа змоу аишьцәа, даҽакала иуҳәозар егьырҭ рымаҵ аура зҭаху, аизаразы ҳамҭа дуны иҟалоит (1 Фес. 2:8).

ЕГЬЫРҬ РЫМАҴ АУРАЗЫ АГӘАҲӘАРА ШЕИЗЫРҲАТӘУ

9. Ишԥаулшо егьырҭ рымаҵ ауразы агәаҳәара еизурҳар?

9 Уара, ҳәарада, Иегова даара бзиа дубоит, насгьы егьырҭ рымаҵ аура мап ацәукӡом. Ус шакәугьы, иҟалап аизара ацхырааҩцәа ирырҭо аусқәа рыда даҽа дҵақәак анудырҵо, урҭ рынагӡара уиаҟара иуҭахымзар. Иуцхраар алшозеи ухәыцшьа аԥсахра? Уазхәыц аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара шаҟа агәырӷьара узаанагар алшо. Иисус иҳәеит: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» (Аус. 20:35). Иара арҭ ажәақәа инарықәыршәаны дынхон, егьырҭ рымаҵ аура агәырӷьарагьы изаанагон. Уаргьы уи ԥушәар улшоит.

10. Ишԥааирԥши Иисус егьырҭ рымаҵ ахьиуаз дшеигәырӷьоз? (Марк 6:31—34).

10 Иаҳгәалаҳаршәап Иисус егьырҭ рымаҵ аура агәырӷьара шизаанагоз ҳзырбо иԥсҭазаара аҟынтә хҭыск. (Шәаԥхьа Марк 6:31—34.) Зны Иисус иапостолцәеи иареи даара иааԥсаны иҟан, убри аҟынтә рыԥсы ршьарц азы иахьҭынчраз ҭыԥк ахь идәықәлеит. Аха аӡәырҩы уи анеилыркаа, Иисус иажәа ҟәышқәа раҳарц азы дара раԥхьа уахь инеит. Иисус ауаа рацәа аниба, урҭ мап рцәикыр ауан, избанзар апостолцәеи иареи «акрыфахаҵәҟьагьы рымамызт». Мамзаргьы еизаз акы-ҩба зхәыцра нараҳәаны, рыҩныҟа ишьҭыр илшон. Аха Иисус абзиабара илан, убри аҟынтә «урҭ акыр дырҵара далагеит», насгьы «ахәлара ианалага» ауп даналга (Марк 6:35). Уи зыҟаиҵаз ус аҭахуп ҳәа акәӡамызт, аха урҭ ауаа ахьрыцҳаишьаз азоуп. Иара урҭ бзиа ибон, убри аҟынтә ак дирҵар иҭахын. Егьырҭ рымаҵ аура Иисус агәырӷьара изаанагон.

11. Дышԥарыцхрааи аус аҿы Иисус изыӡырҩырц иааз ауаа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Уи аҭагылазаашьаҿы Иисус ауаа ак дырҵара адагьы, рцәеижьтә ҭахрақәагьы дреиҷаҳаит. Иара изыӡырҩырц инеиз зегьы џьашьахәыла ирызхашаз афатә риҭеит. Анаҩс иҵаҩцәа дрыҳәеит уи афатә ауаа ирзыршарц (Марк 6:41). Убасала иҵаҩцәа идирбеит егьырҭ рымаҵ шырулаша. Иара убас иҵаҩцәа идеилиркааит аус аҿы ацхыраара шхадоу, — уи ауп аизара ацхырааҩцәагьы иҟарҵо. Шәхаҿы иаажәг апостолцәа шаҟа игәырӷьоз Иисуси дареи џьашьахәыла ауаа рацәа акрахьырҿарҵаз, рызхарагьы ахьыҟалаз! (Марк 6:42). Ҳәарада, Иисус ихы аасҭа егьырҭ данреиҷаҳауаз уи аҽны мацара акәӡамызт. Избанзар адгьыл аҿы иԥсҭазаара зегьы егьырҭ рымаҵ аура иазикит (Матф. 4:23; 8:16). Ауаа аҵара дырҵареи рҭахрақәа реиҷаҳареи Иисус агәырӷьара ду изаанагон. Агәра ганы уҟаз: аизара ацхырааҩыс уҟалар, насгьы гәык-ԥсыкала аишьцәеи аиҳәшьцәеи урыцхраалар, уаргьы убри аҩыза агәырӷьара умазаауеит.

Уара Иегова бзиа дубозар, насгьы егьырҭ рымаҵ аура уҭахызар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи урыцхрааларц азы иулшо зегь ҟауҵалоит. (Шәахәаԥш абзац 11.) a


12. Избан аизаразы акгьы аҟаҵара улшаӡом ҳәа ахәыцра изаԥсам?

12 Иҷыдоу ҟазарак улаӡам ҳәа угәы иаанагозар, угәы каумыжьын. Уара, хымԥада, иулоуп аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи узларыцхраалаша аҟазшьақәа. Урызхәыц 1 Коринфаа 12:12—30 аҿы иану Павел иажәақәа, насгьы Иегова уиҳәа урҭ уара ишуҵанакуа уеилиркаарц. Арҭ ажәеинраалақәа еилыкка иаҳдырбоит егьырҭ Иегова имаҵзуҩцәа реиԥш уаргьы аизараҿы ихадоу ароль шузалху. Уара макьана аизара ацхырааҩцәа рзы иҟоу аҭахрақәа урықәымшәозар, угәы каумыжьын. Иеговеи аишьцәеи рымаҵ ауразы иулшо зегь ҟаҵала. Агәра ганы уҟаз: аизара ахылаԥшыҩцәа иулоу аҟазара хымԥада ирбоит, умч зықәхо адҵақәагьы урҭоит (Рим. 12:4—8).

13. Иаҳҳәар ҳалшозеи аизара ацхырааҩцәа рзы иҟоу аҭахрақәа реиҳарак рзы?

13 Даҽакгьы уазхәыц. Аизара ацхырааҩ изы иҟоу абиблиатә ҭахрақәа реиҳарак ақьырсианцәа зегь рахь иаҵанакуеит, избанзар ҳара зегьы Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалароуп, егьырҭ абзиара рзыҟаҳҵалароуп, насгьы Анцәа дҳаргәырӷьартә еиԥш ҳанхалароуп. Убри аҟынтә иҟалап уаргьы аизара ацхырааҩ илазар ахәҭоу аҟазшьақәа реиҳарак еизурҳахьазар. Иҟаиҵалар акәзеи аизараҿы аҭакԥхықәрақәа рынагӡара зҭаху аиашьа?

ИҚӘУРГЫЛАЗ АХЫҚӘКЫ НАУГӠАР ШУЛШО

14. Иаанагозеи ажәақәа «пату зқәу ракәзароуп»? (1 Тимофеи 3:8—10, 12).

14 Ҳрылацәажәап 1 Тимофеи 3:8—10, 12 (шәаԥхьа) аҿы иану ҭахрақәак. Аизара ацхырааҩцәа «пату зқәу ракәзароуп». Арҭ ажәақәа иара убас еиҭаугар улшоит «зажәа ажәоу; зхы аԥша ҭам» ҳәа. Ҳәарада, уи иаанагаӡом аччареи алаф аҳәареи азин умаӡам ҳәа (Еккл. 3:1, 4). Аха иуду аҭакԥхықәрақәа ишақәнагоу урызнеилароуп. Уара узықәгәыӷыртә иҟоу ауаҩ иеиԥш ахьӡ умазар, аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы пату уқәырҵалоит.

15. Иаанагозеи ажәақәа «ҩ-бзык рҿамзароуп», насгьы «аԥаразы зыԥсы цәгьоу ракәымзароуп»?

15 «Ҩ-бзык рҿамзароуп». Уи иаанагоит амц рымҳәалар, насгьы егьырҭ рымжьалар шрыхәҭоу, иара убас гәыкала иҟазар, агәрагара иаԥсазар, ражәа ажәазар шакәу (Ажәам. 3:32). Ажәақәа «аԥаразы зыԥсы цәгьоу ракәымзароуп» иаанагоит аусеицуреи аԥара иадҳәалоу азҵаарақәеи рҿы амц рымҳәалар шрыхәҭоу. Уи адагьы, уи иаанагоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыбжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа феида рылгаразы рхы иадырхәалар шыҟамло.

16. а) Иаанагозеи ажәақәа «мыцхәы аҩы рымжәлароуп»? б) Иаанагозеи «ламысцқьала» анхара?

16 Ажәақәа «мыцхәы аҩы рымжәлароуп» иаанагоит ақьырсиан иџьбароу арыжәтә амыцхә шимжәуа, насгьы амцхә зжәуа ҳәа ахьӡ шимам. «Ламысцқьала» иҟоу ауаҩы Иегова инормақәа рыла дынхоит. Уи ауаҩы дшынаӡамгьы Анцәеи иареи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьоуп, уи абзоурала агәҭынчрагьы имоуп.

17. Дырзыҟазар шԥаихәҭо аиашьа иду адҵақәа аизара ацхырааҩыс аҟалара дшазхиоу аизара ахылаԥшыҩцәа ирбарц азы? (1 Тимофеи 3:10; шәахәаԥш иара убас асахьа).

17 Абиблиа излаҳәо ала, аишьцәа аизара ацхырааҩцәас иалырхаанӡа, «урҭ ԥышәаны, уи аҩыза амаҵзура ианаалоу-ианымаалоу гәаҭатәуп». Аизара ахылаԥшыҩцәа агәра ргароуп аизараҿы иудырҵо адҵақәа зегьы ибзианы ишынаугӡо. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа ак анудырҵо, урҭ рымҩақәҵарақәеи, Иегова иорганизациа иунаҭо амҩақәҵарақәеи акы агмыжькәа урықәныҟәала. Уара уҟынтә иззыԥшу, насгьы иудырҵаз адҵа анынагӡатәу еилкаа. Аизара ахылаԥшыҩцәа зызуҳәо гәыкала инаугӡозар, аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи ахә ҳаракны иршьалоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа, ишәхашәмыршҭлан иӡааху аишьцәа аҵара шдырҵалатәу. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи 3:10.) Иҟоума шәеизараҿы зыҽӡаазххьоу 10—14 шықәса зхыҵуа ма еиҵбацәоу аишьцәа? Иҭырҵаауама дара хаҭала Абиблиа, насгьы аизарақәа ибзианы рҽырзыҟарҵома? Аизараҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аҭакқәа арҭома, насгьы ажәабжьҳәара рҽаладырхәуама? Ааи акәзар, рықәра иаҵанакуа адҵақа рышәҭала. Убас «урҭ ԥышәаны... амаҵзура ианаалоу-ианымаалоу» гәашәҭар шәылшоит. Убасҟан 17 шықәса ианырҭыслак аизара ацхырааҩцәас иҟалар рылшоит.

Аизара ахылаԥшыҩцәа иӡааху аишьцәа адҵақәа анрырҭо, урҭ аизара ацхырааҩцәас амаҵ аура ианаалоу-ианымаалоу гәарҭар рылшоит. (Шәахәаԥш абзац 17.)


18. Иаанагозеи ажәақәа «ак рывубо иҟам»?

18 Ажәақәа «ак рывубо иҟам» иаанагоит «ҽԥныҳәак змам». Даҽакала иуҳәозар, ақьырсиан ихымҩаԥгашьа ҽеиӡам ҳәа ахара узидҵаӡом. Ҳәарада, ақьырсианцәа амц рзырҳәар алшоит. Иисус ихаҭагьы лассы-лассы амц изырҳәон, насгьы иара иҳәахьан ишьҭанеицәагьы уи аҩыза ишақәшәо (Иоанн 15:20). Аха уара, Иисус еиԥш анаҩсгьы ииашаны ухы мҩаԥугалар, аизараҿы ахьӡ бзиа урҳар улшоит (Матф. 11:19).

19. Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа «аизара ацхырааҩ ԥҳәыс заҵәык димазароуп»?

19 «Аизара ацхырааҩ ԥҳәыс заҵәык димазароуп». Иегова аҭаацәалазаара анаԥиҵоз хаҵаки ԥҳәыски роуп еидикылаз. Ақьырсианцәа Анцәа ишаԥиҵаз иҟарҵалароуп (Матф. 19:3—9). Ақьырсиан асексуалтә ламысдара иҽацәихьчалароуп (Аур. 13:4). Иара иԥҳәыс длызиашазароуп, насгьы егьырҭ аҳәса рахь аромантикатә интерес ахаан иааимырԥшлароуп (Иов 31:1).

20. Иаанагозеи аҭаацәара ибзианы ахадара рзура?

20 «Ихәыҷқәеи иҭаацәеи ибзианы хадара рзиуазароуп». Уара аҭаацәара ахада уакәзар, иуду аҭакԥхықәрақәа ибзианы инаугӡалароуп. Иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥгала. Излаулшо ала лассы-лассы уҭаацәара аӡәаӡәала ажәабжь рыцҳәала. Ухәыҷқәа Иегова иҩызахара урыцхраала (Еф. 6:4). Уара уҭаацәара рхылаԥшра улшозар, уи иаанарԥшуеит аизарагьы ахылаԥшра шулшо. (Иаҿшәырԥш 1 Тимофеи 3:5.)

21. Иҟарҵалар рылшозеи макьана аизара ацхырааҩцәас амаҵ зымуа аишьцәа?

21 Ҳаҭыр зқәу аиашьа, уара макьана аизара ацхырааҩыс амаҵ умуазар, ҳуҳәоит, ари астатиаҿы еилҳаргаз ахшыҩҵакқәа урызхәыц, насгьы Иегова уи азы уиҳәа. Аизара ацхырааҩцәа рзы иҟоу аҭахрақәа ибзианы иҭҵаа, насгьы урҭ урықәшәаларц азы иулшо зегь ҟаҵала. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь убзиабара еизырҳала, насгьы урҭ рымаҵ аура зуҭаху уазхәыц (1 Пиотр 4:8, 10). Аизара ацхырааҩыс аҟалара уҽазышәала, убасҟан егьырҭ уанрыцхраало агәырӷьара ду уоуеит. Агәра ганы уҟаз Иегова меигӡарахда дшузылԥхо! (Флп. 2:13).

АШӘА 17 «Исҭахуп»

a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Армарахь: Иисус ахынраалара аарԥшны егьырҭ рымаҵ иуеит; арӷьарахь: аизара ацхырааҩ зықәрахь инеихьоу аиашьа дицхраауеит.