Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 45

АШӘА 138 Ашлара — аԥшӡара агәыргьын

Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәақәа иаҳдырҵо

Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәақәа иаҳдырҵо

«Абыргцәа ракәӡами аҟәыӷара злоу, аилкаарагьы змоу акыршықәса нызҵыз ракәӡами?» (ИОВ 12:12).

ЕИЛАҲКААУА

Дышԥарзылԥхо Иегова изыӡырҩуа ауаа уажәнатә, насгьы иарбан ԥсҭазаароу аԥхьаҟа ириҭо.

1. Избан зықәрахь инеихьоу рҿы аҵара ҳҵалар зыбзиоу?

 АӠБАРАҚӘА анҳадаҳкыло аӡәы алабжьара бзиа ҳаиҭар, уи ҳаигәырӷьоит. Уи аҩыза ацхыраара ҳарҭар рылшоит аизара ахылаԥшыҩцәеи доуҳала ишәу егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Урҭ ҳара ҳаасҭа акыр еиҳабызаргьы, уи иаанагаӡом иҳарҭо алабжьарагьы ажәхьеит ҳәа. Иегова иҭахуп зықәрахь инеихьоу рҿы аҵара ҳҵаларц, избанзар урҭ аԥышәеи, аилкаареи, аҟәыӷареи рымоуп (Иов 12:12).

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Абиблиатә аамҭақәа раан Иегова ижәлар дрыцхрааларц, насгьы анапхгара риҭаларц азы зықәрахь инеихьаз изиашаз ахацәа ихы иаирхәон. Урҭ иреиуан Моисеи, Давид, насгьы апостол Иоанн. Дара еиуеиԥшымыз аамҭақәа раан инхон, рҭагылазаашьақәагьы зынӡа еиԥшӡамызт. Рыхҩыкгьы рыԥсҭазаара ахыркәшамҭаз абиԥара ҿыц иҟәыӷоу амҩақәҵарақәа рырҭеит. Иара убас рыхҩык Анцәа иҳәатәы хаҳҵалар шаҟа ихадоу аҵшьны ирҳәеит. Иегова урҭ ражәақәа Абиблиа ала ҳаамҭа аҟынӡа иааиртә иҟаиҵеит. Ҳара зегьы, хәыҷгьы-дугьы, урҭ рылабжьарақәа ҳрызхәыцыр бзиоуп (Рим. 15:4; 2 Тим. 3:16). Ари астатиаҿы урҭ хҩык ахацәа рымҩақәҵарақәа ҳрыхәаԥшуеит, насгьы урҭ иаҳдырҵар алшо еилҳаргоит.

«АКЫРШЫҚӘСА НЫШӘҴУЕИТ»

3. Иаҳдыруазеи Моисеи изкны?

3 Моисеи иԥсы ахьынӡаҭаз гәыкала Иегова имаҵ иуан. Иара ԥааимбарс, ӡбаҩыс, ар реиҳабыс, насгьы ҭоурыхҭҵааҩыс дыҟан. Аԥсҭазаараҿгьы аԥышәа ду иман. Моисеи израильтәи ажәлар Египет иалигеит, насгьы Иегова иҟаиҵаз аџьашьахәқәа рацәаны ибеит. Анцәа иԥшьоу идоуҳала Моисеи игәазҭеиҵеит Абиблиа иахәҭаку раԥхьатәи хә-шәҟәык, иара убас 90-тәи, насгьы иҟалап 91-тәи Аԥсалом иҩырц. Ашәҟәы Иов зҩызгьы иара иакәзар ҟалап.

4. Згәы шьҭихда Моисеи иажәақәа рыла, насгьы избан?

4 Моисеи 120 шықәса анихыҵуаз, иԥсра маҷк шагыз, израильаа зегь еизганы, Иегова ирзыҟаиҵаз ргәалаиршәеит. Анцәа ижәлар ишырбоз аџьашьахәқәа ҟаҵаны египтаа рыхәҭа ианақәиршәа, шьоукы ма ихыҷқәан, ма ихбыџқәан (Ақәҵ. 7:3, 4). Дара ирбон амшын ҟаԥшь аҽшеиҩнашаз, нас ибахҵәаӡа иҟалаз аҵа иҭысны ицеит. Анаҩс Иегова египеттәи ар ықәихит (Ақәҵ. 14:29—31). Ацәҳәыраҿы Анцәа урҭ дырхылаԥшуан, иагьихьчон (Ҩынтә. 8:3, 4). Уажәшьҭа, израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл азааигәара ианыҟаз, Моисеи аҵыхәтәаны ргәы шьҭихыр иҭахын a.

5. Зыгәра днаргазеи израильаа Ҩынтәзакәан 30:19, 20 иану аҵыхәтәантәи Моисеи иажәақәа?

5 Ииҳәазеи Моисеи? (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 30:19, 20.) Иара израильаа иргәалаиршәеит закә ԥсҭазаароу ирзыԥшыз. Иегова ибзоурала дара акыраамҭа Изқәыргәыӷыз адгьыл аҿы инхалар рылшон. Уи зеиԥшыҟамыз, ибарақьаҭыз дгьылын! Моисеи израильаа иреиҳәеит «Иегова... шәара ишәмыргылаз идуу ақалақь ԥшӡақәеи, иаашәымхәаз ихәарҭоу амаҭәарқәа ахьыҩноу аҩнқәеи, ишәымжыз аҵеџьқәеи, еиҭашәымҳаз аӡахәаҭрақәеи амаслинаҵлақәеи ахьыҟоу адгьыл ахь» шәнеигоит ҳәа (Ҩынтә. 6:10, 11).

6. Избан Анцәа егьырҭ ажәларқәа израильаа рымпыҵадырхаларц зиуз?

6 Моисеи израильаа ргәырҽаниҵеит ибарақьаҭыз уи адгьыл аҿы кыраамҭа инхаларц рҭахызар, Иегова иԥҟарақәа ирықәныҟәалар шрыхәҭаз. Моисеи урҭ ргәазҭеиҵеит аԥсҭазаара алырхырц, даҽакала иуҳәозар, Анцәа изыӡырҩларц, изиашангьы иаанхаларц. Аха израильаа Иегова даанрыжьит. Убри аҟынтә ԥыҭрак ашьҭахь Анцәа иуит ассириаа, нас вавилонаа израильаа рымпыҵадырхаларц, итҟәангьы иргарц (2 Аҳ. 17:6—8, 13, 14; 2 Аш. 36:15—17, 20).

7. Иаҳдырҵозеи Моисеи иажәақәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Иаҳдырҵозеи Моисеи иажәақәа? Аҳәатәхаҵара уԥсҭазаара еиқәнархоит. Изқәыргәыӷыз адгьыл азааигәара иҟаз израильаа реиԥш, ҳаргьы Анцәа ҳзықәиргәыӷыз адунеи ҿыц ҳазааигәоуп. Иаарласны ҳара иаҳбоит адунеи зегь шџьанаҭхо (Ис. 35:1; Лука 23:43). Усҟан Аџьныши адемонцәеи ҟалаӡом (Аат. 20:2, 3). Амцдинхаҵара уаҳа аӡәгьы дарҩашьалаӡом (Аат. 17:16). Ауаатәыҩсатә напхгарақәа ауаа дыргәаҟлаӡом (Аат. 19:19, 20). Иегова џьанаҭ дгьыл аҿы аӡәгьы аҿагылара шьҭихыр иуӡом (Аԥсал. 37:10, 11). Зегьы ииашоу изакәанқәа ирықәныҟәалоит, аҭынчреи акзаареи рыбжьазаалоит, бзиа еибабалоит, рыгәрагьы еибагалоит (Ис. 11:9). Ҳашԥазыԥшу уи аамҭа! Ҳара Иегова ҳаизыӡырҩуазар, џьанаҭ дгьыл аҿы шәышықәсала акәымкәа, наӡаӡа ҳанхалоит (Аԥсал. 37:29; Иоанн 3:16).

Иегова ҳаизыӡырҩуазар, џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаԥсҭазаара ашәышықәсақәа ракәымкәа, наӡаӡа ицалоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)


8. Ишԥаицхрааи миссионерс амаҵ зуа иашьак наӡаӡа анхаразы агәыӷра? (Иуда 20, 21).

8 Наӡаӡатәи аԥсҭазааразы иҳамоу агәыӷра ҳацхраауеит Анцәа ҳизиашаны аанхареи ауадаҩрақәа рыхгареи, урҭ зеиԥшразаалакгьы. (Шәаԥхьа Иуда 20, 21.) Иара убас уи иҳалоу аԥсыҽрақәа рҿагыларазы амч ҳнаҭоит. Акыршықәса Африка миссионерс амаҵ зуа иашьак иԥсыҽра аиааира илшеит. Иара иҳәоит: «Сара еилыскааит наӡаӡатәи аԥсҭазаара соурц азы Иегова сизыӡырҩлар шсыхәҭоу. Убри аҟынтә сыԥсыҽра сиааиртә алсмыршарц сыӡбеит. Сыуадаҩразы Иегова еиҳагьы иҳәара салагеит, ицхыраарала уи аиааира сылшеит».

«УМАНШӘАЛАХОИТ»

9. Иарбан ԥышәарақәоу Давид дзықәшәоз?

9 Давид Анцәа ижәлар раҳ иакәын, Иеговагьы дизиашан. Иара убас иара амузыка аирҳәон, дпоетын, деибашьҩын, дԥааимбарын. Иԥсҭазаараҿы ирацәаны агәаҟрақәа ихигеит. Иара акыршықәса иҽиҵәахлар акәын, избанзар иҵашьыцуаз аҳ Саул дишьыр иҭахын. Давид аҳас даныҟалагьы иҽиҵәахлар акәхеит, избанзар иԥа Авессалом дышьны иҭыԥ ааникылар иҭахын. Ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, агхақәа шыҟаиҵозгьы, Давид иԥсы ахьынӡаҭаз Анцәа дизиашан. Иегова уи сгәы иақәшәо уаҩуп ҳәагьы изиҳәеит. Давид имҩақәҵарақәа рзыӡырҩра хымԥада иаԥсоуп! (1 Аҳ. 15:5; Аус. 13:22).

10. Избан Соломон Давид имҩақәҵара ада ԥсыхәа зимамыз?

10 Ҳахәаԥшып Давид ишьҭахь аҳас иҟалараны иҟаз иԥа Соломон иарбан мҩақәҵароу ииҭаз. Иегова уи аҷкәын далихит аныҳәарҭа иргыларц, насгьы ицқьоу амҵахырхәара дадгыларц азы (1 Аш. 22:5). Соломон аус ду изыԥшын, ажәлар дуӡӡа дырхагыларгьы акәын. Иегова ицхыраарада иара уи илшарымызт. Иарбан мҩақәҵароу Давид уи ииҭаз? Шәааи ҳахәаԥшып.

11. Иарбан мҩақәҵароу Давид Соломон ииҭаз, насгьы изеиԥшрази иԥсҭазаара иаб иажәақәа дырзыӡырҩуанаҵы? (1 Аҳцәа 2:2, 3). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Ииҳәазеи Давид? (Шәаԥхьа 1 Аҳцәа 2:2, 3.) Давид иԥа иеиҳәеит Иегова дизыӡырҩлар, ақәҿиара шимазаауа. Аиашазы, акыршықәса рыҩныҵҟа иара ақәҿиара иман (1 Аш. 29:23—25). Иара аныҳәарҭа дуӡӡа иргылеит, Абиблиа иахәҭакхаз ашәҟәқәа иҩит. Уи адагьы, иажәақәа егьырҭ абиблиатә шәҟәқәа рҿгьы иаагоуп (1 Аҳ. 4:34). Иара шаҟа аҟәыӷара илаз, насгьы шаҟа дбеиаз аӡбахә ихараз атәылақәа рҟынӡагьы инеит. Аха иара ихаимыршҭлар акәын, Давид ишиеиҳәахьаз еиԥш, ақәҿиара имазарц азы Иегова дизыӡырҩлар шихәҭаз. Рыцҳарас иҟалаз, ԥыҭрак ашьҭахь амцнцәахәқәа рымҵахырхәара далагеит. Иегова уи игәамԥхаӡеит, аҟәыӷара иҭарагьы даҟәыҵит. Уи ада Соломон қьиаралеи иашаралеи уаҳа аҳра изуӡомызт (1 Аҳ. 11:9, 10; 12:4).

Давид Соломон иеиҳәаз аҵыхәтәантәи иажәақәа иаадырԥшуеит Иегова ҳаизыӡырҩлар, аҟәыӷара шҳаиҭало, насгьы аӡбара бзиақәа шҳадаҳкылало. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.) b


12. Иаҳдырҵозеи Давид иажәақәа?

12 Иаҳдырҵозеи Давид иажәақәа? Аҳәатәхаҵара ақәҿиара узаанагоит. (Аԥсал. 1:1—3). Ҳәарада, Иегова имҳәаӡеит ҳара Соломон еиԥш ҳбеиазаауеит, ахьӡ-аԥшагьы ҳамазаауеит ҳәа. Аха Анцәа ҳаизыӡырҩлар, аҟәыӷара ҳаиҭоит (Ажәам. 2:6, 7; Иак. 1:5). Абиблиатә принципқәа ҳрықәныҟәалар, аусуреи, аҵареи, агәырҿыхагақәеи, аԥареи рганахь ала ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Анцәа иҳәатәы хаҳҵалар, иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳахьчоит, наӡаӡагьы ҳанхалоит (Ажәам. 2:10, 11). Иара убас аҩызцәа бзиақәа ҳамазаауеит, ҳҭаацәараҿгьы насыԥ ыҟазаауеит.

13. Илыцхрааи Кармен лыԥсҭазаараҿы ақәҿиара аиура?

13 Мозамбик иатәу Ка́рмен лгәы иаанагон аҵара ду умамкәа аԥсҭазаараҿы ақәҿиара уоуӡом ҳәа. Убри аҟынтә ауниверситет дҭалеит, архитектортә факультет ахь. Ҳаҳәшьа илҩит: «Сара аҵара ҵара бзиа избон, аха уи аамҭеи амчи рацәаны исцәагон. Аҵара ҳалагон ааба рыбжазы, ҳалгон асааҭ фба рзы. Аизарақәа рҭаара сцәыуадаҩхо салагеит, уи иахҟьаны Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьысуа иалагеит. Сара еилыскааит ҩыџьа аԥшәмацәа рымаҵ зурц сшаҿу» (Матф. 6:24). Кармен Анцәа диҳәон, ҳпубликациақәагьы ҭылҵаауан. Лара иацылҵоит: «Сара аизара ахылаԥшыҩцәеи сани срацәажәеит, нас апионертә маҵзура салагарц азы ауниверситет аансыжьырц сыӡбеит. Ус ахьыҟасҵаз даараӡа сеигәырӷьоит».

14. Иарбан ихадоу зхәыцроу Моисеии Давиди егьырҭ иреилдыркаарц ирҭахыз, аҵыхәтәантәи амҩақәҵарақәа анрырҭоз?

14 Моисеии Давиди Иегова бзиа дырбон, изыӡырҩрагьы шхадоу еилыркаауан. Егьырҭ аҵыхәтәантәи амҩақәҵарақәа анрырҭоз ргәазҭарҵеит ирҿыԥшларц, насгьы Иегова гәыкала имаҵ руларц. Иара убас ргәырҽанырҵеит Иегова даанзыжьуа уаҳа иҩызцәаны ишзаанымхо, рзылԥхарагьы дшаҟәыҵуа. Урҭ ражәақәа иахьагьы ихәарҭоуп. Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иегова имаҵ зуаз даҽаӡәгьы иаҳирбеит Иегова гәыкала имаҵ аура шаҟа ихадоу.

«САРА СЗЫ УИ ЕИҲАУ ГӘЫРӶЬАРАК ЫҞАМ»

15. Дызхаанызи апостол Иоанн?

15 Иоанн Иисус Христос иҩыза гәакьа, насгьы иапостол иакәын (Матф. 10:2; Иоанн 19:26). Иара Иисус адгьыл аҿы амаҵ иуанаҵы дицын, иҟаиҵоз аџьашьахәқәа ибон, иуадаҩыз аамҭақәа раангьы дивагылан. Иисус дыкнаҳаны даныршьуаз Иоанн уа дыҟан, иԥсы анҭалагьы дибеит. Уи адагьы, иара ибеит ақьырсианцәа имаҷыз ргәыԥ еизара дуны ишыҟалаз, насгьы ажәабжь бзиа «ажәҩан аҵаҟа ашамҭақәа зегьы» ишрылаҳәаз (Кол. 1:23).

16. Иззы ихәарҭадаз Иоанн исаламшәҟәқәа ажәытәан, иззы ихәарҭада урҭ иахьа?

16 Иоанн аԥсҭазаара ду ниҵит. Иԥсҭазаара ахыркәшамҭаз Абиблиа иахәҭакхаз ашәҟәқәа рыҩра аҳаҭыр иаҭәашьан. Иоанн угәы зырхыҭ-хыҭуа «Иисус Христос иҟынтә аатра» иҩит (Аат. 1:1). Уи адагьы, ԥшь-Евангелиек руаки х-саламшәҟәыки иҩит. Ахԥатәи исаламшәҟәы Гаи зыхьӡыз, иԥа иеиԥш бзиа иибоз, Анцәа изиашаз ақьырсиан изиҩит (3 Иоанн 1). Иҟалап аизараҿы абык иаҳасабала бзиа иибоз егьырҭ ақьырсианцәагьы ыҟазҭгьы. Анцәа изиашаз зықәрахь инеихьаз Иоанн ииҩыз иахьа уажәраанӡа Иисус ишьҭанеицәа ҳгәы шьҭнахуеит.

17. 3 Иоанн 4 иану инақәыршәаны, иузаазгозеи агәырӷьара ду?

17 Ииҩызеи Иоанн? (Шәаԥхьа 3 Иоанн 4.) Иоанн Анцәа иҳәатәы анхауҵо иуоуа агәырӷьара аӡбахә далацәажәон. Ахԥатәи исаламшәҟәы аниҩуаз аамҭазы аизара аӡәкра иаԥырхагаз, насгьы амцҵарақәа рылазырҵәоз ауаа цәырҵит. Аха иҟан «аҵабырг амҩа» ианыланы ицоз ауаагьы. Дара Иегова изыӡырҩуан, насгьы «Ҳаб иԥҟарақәа» рыла инхон (2 Иоанн 4, 6). Анцәа изиашаз урҭ ақьырсианцәа идыргәырӷьоз Иоанн имацара иакәӡамызт, Иеговагьы ддыргәырӷьон (Ажәам. 27:11).

18. Иаҳдырҵозеи Иоанн ииҳәаз ажәақәа?

18 Иаҳдырҵозеи Иоанн ииҳәаз ажәақәа? Азиашара агәырӷьара узаанагоит (1 Иоанн 5:3). Иаҳҳәап, Иегова игәы иақәшәо аныҟаҳҵо, ҳхаҭагьы агәырӷьара ҳауеит. Ари адунеи ҳахнахырц азы иҳаднагало мап анацәаҳкуа, насгьы Иегова изакәанқәа рыла ҳанынхо, иара уи деигәырӷьоит (Ажәам. 23:15). Ажәҩан аҿы иҟоу амаалықьцәагьы гәырӷьоит (Лука 15:10). Уи адагьы, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ишрышьҭашәарыцогьы, ари адунеи аҿы ихызхыр алшо шыҟоугьы, Анцәа изиашаны ишаанхо анаҳбо, ҳгәырӷьоит (2 Фес. 1:4). Аҩсҭаа идунеи анықәӡаалак, Иегова ҳизиашаны ҳахьаанхаз ҳаигәырӷьалоит.

19. Дышԥахцәажәо Реичел ауаа Иегова имаҵзуҩцәаны аҟалара дрыцхрааларц азы илымоу алшара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

19 Еиҳараӡак агәырӷьара ҳзаазго Иегова иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара алшара ахьҳамоу ауп. Доминикантәи Ареспубликаҿы инхо Ре́ичел ауаа Анцәа имаҵзуҩцәаны аҟалара дрыцхраалар ахьлылшо ахә ҳаракны илшьоит. Абар Абиблиа злырҵо рзы илҳәо: «Абиблиа зсырҵо Иегова игәыбылра шыркуа, игәра агара ишалаго, рыԥсҭазаашьагьы шырыԥсахуа анызбо, шаҟа сеигәырӷьо ажәала исызҳәом. Уи зегь аџьабаа абара ишаԥсоу сеилнаркаауеит».

Ҳара ҳгәырӷьоит ауаа Иегова бзиа ибареи изыӡырҩреи ианалаго. (Шәахәаԥш абзац 19.)


АНЦӘА ИЗИАШАЗ ИМАҴЗУҨЦӘА АҴЫХӘТӘАНТӘИ РАЖӘАҚӘА ШӘЫРЗЫӠЫРҨ

20. Еицаҳзеиԥшузеи Моисеии, Давиди, Иоанни ҳареи?

20 Моисеии, Давиди, Иоанни ажәытәан инхон, рҭагылазаашьагьы ҳҭагылазаашьа зынӡа иеиԥшӡамызт. Аха дареи ҳареи еицаҳзеиԥшу рацәоуп. Даргьы ҳара ҳаиԥш Ҳазшаз Анцәа ду имаҵ руан. Дара Иегова иҳәон, иқәгәыӷуан, ацхыраареи, алабжьареи иара иҿы иашьҭан. Ҳаргьы убас ҟаҳҵоит. Иегова урҭ ахацәа аҳәатәхаҵара ахьрылаз азы дырзылԥхеит. Агәра ганы ҳаҟоуп ҳаргьы ҳшаанимыжьуа.

21. Ирзыԥшузеи Моисеии, Давиди, Иоанни аҵыхәтәантәи ражәақәа ирзыӡырҩуа ауаа?

21 Аҟәыӷара злаз Анцәа гәыкала изыҟаз хҩык имаҵзуҩцәа Иегова иԥҟарақәа ҳрықәныҟәаларц ҳаарыԥхьоит. Шәааи убас иагьыҟаҳҵалап. Убасҟан, иҟаҳҵозаалакгьы, ақәҿиара ҳамазаауеит. Ҵыхәаԥҵәара змам аԥсҭазаарагьы ҳауеит! (Ҩынтә. 30:20). Уи гәырӷьаралагьы иҭәызаауеит, избанзар жәҩантәи Ҳаб даҳзыраззаауеит. Иара ҳзықәиргәыӷыз зегь наигӡоит, уажәы ҳхаҿы иаҳзаамго абзиарақәагьы ҳзыҟаиҵоит (Еф. 3:20).

АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап

a Иегова Амшын ҟаԥшь аҿы иҟаиҵаз аџьашьахәқәа збаз израильаа реиҳараҩык Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь имнеиӡеит (Ахыԥхь. 14:22, 23). Иегова иҳәеит 20 шықәса зхыҵхьаз, насгьы еиҳабыз ашәҟәы зҽанызҵаз зегьы ацәҳәыраҿы ишыԥсуа (Ахыԥхь. 14:29). 20 шықәса зхымҵыцыз аӡәырҩы, иара убас Иисус Навин, Халев, насгьы Леви иеимшьҭра иатәыз израильаа аӡәырҩы Анцәа ижәлар Иордан ирны ханаантәи адгьыл ахь ишнеиз рбеит (Ҩынтә. 1:24—40).

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Армарахь. Давид дыԥсаанӡа иԥа Соломон иҟәыӷоу амҩақәҵара ииҭоит. Арӷьарахь. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи Апионертә маҵзура ашкол аҿы Иегова иҟәыӷара иҿырҵаауеит.