Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА

Аӡәгьы дахьышәԥырхагам иахьҭынчроу аҭыԥ аҿы Абиблиа ҭышәҵаала

Аӡәгьы дахьышәԥырхагам иахьҭынчроу аҭыԥ аҿы Абиблиа ҭышәҵаала

Ишәҭахума шәхатә ҭҵаара еиҳа ахәарҭа шәзаанагаларц? Абар ишәыцхраауа лабжьарақәак:

  • Ишәзыманшәалоу аҭыԥ алышәх. Ицқьоу, иахьеилажьым, насгьы алашара бзиа ахьыҟоу аҭыԥ шәыԥшаа. Астол шәахатәар шәылшоит, ма аҳауа цқьаҿы шәманшәаланы шәтәар ауеит.

  • Шәхала шәахьыҟало аҭыԥ шәыԥшаа. Иисус «ашьжьымҭан» «аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥ» аҿы Анцәа диҳәон (Марк 1:35). Шәхала шәаанхартә алшара шәымамзар, шәҭаацәа ма ишәыцынхо ирашәҳәа шәхатә ҭҵаара анымҩаԥыжәгало. Убасҟан ишәԥырхагахаӡом.

  • Акы шәахнагар жәымун. Абиблиа аҭҵааразы аҭел ма апланшет шәхы иашәырхәозар, акгьы шәԥырхагамхартә еиԥш иахәҭоу арежим иқәшәыргыл. Ихадоу уск шыҟаҵатәу иаалырҟьаны ишәгәалашәазар, уи џьара ианышәҵа, ԥыҭрак ашьҭахь иҟашәҵарц азы. Шәзыԥхьо шәхы азышьҭра шәцәыцәгьазар, маҷк шәааныҟәа, ма ҭаалымк ҟашәҵа.