Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АБИОГРАФИА

Иегова ианҭынчразгьы, аибашьра аныҟазгьы амч ҳаиҭон

Иегова ианҭынчразгьы, аибашьра аныҟазгьы амч ҳаиҭон

Пол: Ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт! 1985 шықәса, ноиабр мза ҳҭагылан. Ҳара Либе́риаҟа (Мраҭашәаратәи Африка) миссионерцәас амаҵ аура ҳрышьҭит. Ҳазҭаз аҳаирплан раԥхьа Сенега́л итәеит. Исгәалашәоит Енн абас шылҳәаз: «Сааҭк ашьҭахь Либериа ҳҟалоит!» Аха нас абас ҳаларҳәеит: «Либериаҟа ицо апассаџьырцәа аҳаирплан иҭыҵроуп. Уа аҳәынҭқарратә еилаҩынтра ҟалеит, убри аҟынтә уа ҳазтәаӡом». Уи иахҟьаны Сенегал ҳаангылар акәхеит, уа жәамш аҭыԥантәи амиссионерцәа рҿы ҳанхон. Уи аамҭа иалагӡаны Либериантәи узыршәашаз ажәабжьқәа ҳаҳауан — аԥсцәа рыла иҭәыз амашьына дуқәа рыӡбахә, насгьы акоменданттә сааҭ шаларгалаз, уи еилазгоз иргәыдҵаны ишыршьуаз.

Енн: Ҳара акгьы иацәымшәо уаауп ҳәа узҳәом. Сара санхәыҷыз аахыс «Енн ашәаргәында» ҳәа исышьҭан. Сара амҩа анеихысҵәогьы, ашәара сызцәырҵуеит. Аха ҳара уеизгьы Либериаҟа ацара ҳазхиан.

Пол: Енни сареи Мраҭашәаратәи Англиа ҳатәуп, лареи сареи 8 километрак ракәын иҳабжьаз. Ашкол ҳаналга ашьҭахь иаразнак пионерцәас амаҵ аура ҳалагеит. Уи еиҳараӡак изыбзоураз сҭаацәеи Енн лани ракәын. Дара еснагь Анцәа имаҵ аура ҳгәазҭарҵон, убри аҟынтә ҳаамҭа зегьы Иегова имаҵ аура иахьазаҳкыз даара иеигәырӷьон. 19 шықәса анысхыҵуаз, Вефильҟа ааԥхьара сырҭеит. 1982 шықәсазы, ҳчара ашьҭахь, Еннгьы уа амаҵ аура далагеит.

1985 шықәса, сентиабр 8, Галаад ашкол ҳаналгоз.

Енн: Ҳара Вефиль аҿы амаҵ аура ҳгәаԥхон, аха есымша иаҳҭахыз ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз аҭыԥ ахь ацара акәын. Уаанӡа миссионерцәас иҟаз, уажәы Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳанрацәажәоз, ҳгәаҳәара еиҳагьы еизҳауан. Хышықәса рыҩныҵҟа есыхәылбыҽха уи Иегова иаҳҳәон. Шәхаҿы иаажәг Галаад ашкол ахь ааԥхьара анҳарҭа, уи шаҟа ҳаигәырӷьаз! Ҳара 79-тәи акласс ҳалгеит, нас Либериаҟа ҳрышьҭит.

АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РЫБЗИАБАРА АМЧ ҲНАҬОН

Пол: Аҳаирпланқәа Либериаҟа аԥырра ишалагаз еиԥшҵәҟьа, уахь ҳцеит. Атәылаҿы акоменданттә сааҭ ыҟан, аҭагылазаашьагьы даара ицәгьан. Амашьына иахылҵуаз абжьыҵәҟьагьы ауаа ашәара рызцәырнагон! Агәҭынчра ҳамазарц азы Енни сареи есыхәылбыҽха Аԥсаломқәа ҳрыԥхьон. Ааи, имариамызт, аха ҳмаҵзура даара иаҳгәаԥхон. Енн миссионерс амаҵ луан, сара — Вефиль аҿы. Сара сзы гәырӷьара дуун аԥышәа ду змаз Џьон Чару́к a зыхьӡыз аиашьа аус ицура. Иара Либериа дынхоижьҭеи акырҵуан, убри аҟынтә аҭыԥантәи ажәабжьҳәаҩцәа зықәшәоз ауадаҩрақәа бзианы идыруан. Уи иҿысҵааз рацәоуп.

Енн: Ҳара Либериа иаразнак иаҳгәаԥхеит, избанзар аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәаартыла иаҳԥылеит. Дара згәы аартыз, гәык-ԥсыкала иҟаз, Анцәа изиашаз уаан. Ҳара иаразнак урҭ ҳрышьцылеит, даргьы ҳҭынхацәа реиԥш иаҳзыҟалеит. Дара изларылшоз ала иҳацхраауан, насгьы ихәарҭаз алабжьарақәа рацәаны иҳарҭеит. Ажәабжьҳәара акәзар, уи шаҟа агәырӷьара ҳзаанагоз ажәала исызҳәом! Ауаа иргәамԥхоз дара рахь ҳахьнеиуаз акәӡамызт, аха, ргәаанагарала, ирласны ҳахьцоз акәын. Амҩа уаныланы ушцоз, ауаа адоуҳатә темақәа ишрылацәажәоз лассы-лассы иуаҳауан. Иаҳзаанхоз, аицәажәара аҽалархәра акәын. Ҳара убриаҟара ирацәаны абиблиатә ҵарақәа ҳрылагон, рымҩаԥгарагьы ҳахьӡаӡомызт. Уи агәырӷьара ду ҳзаанагон!

ИЕГОВА АШӘАРА АҼАМҬАРА ДҲАЦХРААУАН

Либериатәи афилиал аҿы аибашьра аҟынтә ибналаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыдыркылоит. 1990-тәи ашықәс

Пол: 1989 шықәсазы, ԥшьышықәса ицоз аҭынчра ашьҭахь, Либериа ажәлар дара-дара еибашьуа иалагеит. 1990 шықәса, ииуль 2 рзы аҿагылаҩцәа афилиал ахьыҟаз араион иакәшаны иркит. Хымз рыҩныҵҟа ҳҭынхацәеи ихадоу аусбарҭеи ҳареи аимадара ҳамаӡамызт. Зехьынџьара азакәандареи, амлакреи, агәымбылџьбарареи ыҟан. Ирацәаҩны аҳәса ишакәым ирызныҟәеит. Уи аҩыза аҭагылазаашьа 14 шықәса дуӡӡа иҟан.

Енн: Биԥарак иатәыз ауаа даҽа биԥарак иатәыз ршьуан. Бџьарла еиқәных еибыҭаз, насгьы уамашәа еилаҳәаз ауаа амҩадуқәа еимырдон, аҩнқәагьы дырҳәуан. Шьоукы ауаҩы ишьра акәты ахы ахҵәара ирзаҩызан. Аблокпостқәа рҿы иршьуаз ауаа еиқәрыжьуан. Урҭ рҩызцәа аблокпостқәа Вефиль азааигәарагьы иҟан. Иршьыз рыбжьара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ыҟан, ҩыџьа амиссионерцәагьы уахь иналаҵаны.

Аибашьцәа ирцәымӷыз абиԥара иатәыз ауаа ирышьҭашәарыцон, ианырыԥшаалакгьы иршьуан. Убри аҟынтә Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы, амиссионерцәагьы, Вефиль аҿы амаҵ зуазгьы, рыҩнқәа рҿы рхаҵара рыцеиҩызшоз рҵәахуан. Афилиал аҿы шьоукы актәи аихагылаҿы иҩнарҵеит, даҽа шьоукы — хыхьтәи ауадақәа рҿы. Иаҳҳәап, ҳара быжьҩык рыла ишьақәгылаз аҭаацәа уадак ҳрыцыҩнан.

Пол: Бџьарла еибыҭаз ауаа аӡәыр дҵәахны дҳамазар ҳәа есыҽны иаауан. Убри аҟынтә Вефиль атерриториаҿы ԥшьҩык аҷаԥшьаҩцәа ыҟан: ҩыџьа агәашә аҿы иҷаԥшьон, ҩыџьа аԥенџьыр аҟынтә урҭ ирызкылԥшуан. Агәашә аҿы игылаз инапқәа рыла иуирбон иааиз дшәарҭоу-дшәарҭаму. Аҷаԥшьаҩы инапқәа иаԥхьаҟа иааганы икызҭгьы, узыцәшәоз ҳәа акгьы ыҟамызт, аха инапқәа шьҭахьҟа иганы икызҭгьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирласны иҵәахтәын.

Енн: Амчыбжьқәа рацәаны ианца ашьҭахь зыԥсахы еибакны иҟаз бџьарла еибыҭаз агәыԥ уеизгьы афилиал иажәлеит. Иаҳәшьаки сареи аҽыкәабарҭа уаҭах аҿы ҳҽыҩнаҳкит, уа ашьқаԥ аҵаҿы аӡәгьы изымдыруаз аҽыҵәахырҭа ыҟан. Лара уахь дшынхәыҵалаз еиԥш, аҿагылаҩцәа ашә асра иалагеит. Урҭ сышьклаԥшуазаарын. Аамҭа игарц азы Пол абас реиҳәеит: «Сыԥшәма ашьышьмаҭра дҭоуп уажәыҵәҟьа ддәылҵуеит». Аха аҽыҵәахырҭа ашә абжьы мыргакәа аркра, насгьы амаҭәақәа ашьқаԥ ахь ирласны аҭаҵара ус имариамызт. Сара саншәа аҟәара-ҟәара сеиҵасуа салагеит. Ишԥаасыртуеи ашә ас сшыҟоу? Уи агәҩара рызцәырнагар алшон! Сшәаҟьаны сыҟан, Иеговагьы сӷьаҵәыӷьаҵәуа иҳәара салагеит. Ашә анаасырт, акгьы ҟамлазшәа аԥсшәа аҳәара сҽазысшәеит. Аҿагылаҩцәа руаӡәк днасыгәҭасын, ашьқаԥ ахь днеин амаҭәақәа дрылалеит. Иара иџьеишьеит, аха акгьы изымԥшааӡеит. Уи ашьҭахь аибашьцәа егьырҭ ауадақәеи аҭуани еимырдеит. Аха уахьгьы башахеит.

АҴАБЫРГ АЛАШАРА ИШКАҶҶАЦ ИКАҶҶОН

Пол: Мызқәак рыҩныҵҟа афатә ҳазхаӡомызт. Аха зегь раасҭа ихадоу, адоуҳатә фатә еснагь иҳаман. Зны-зынла Вефиль аҿы «шьыжьхьас» иҳамаз ашьыжьтәи амҵахырхәара апрограмма мацара акәын, аха уи ауп есыҽны ҳамч ҭазҵоз.

Афилиал аҿы афатәи аӡи нҵәазҭгьы, ҳара ҳҿы зҽызҵәахуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхала иааныжьны афатә аԥшаара ҳцар акәхон. Аха усҟан урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылон. Иегова еснагь дҳацхраауан, аџьашьахәқәа анҳзыҟаиҵозгьы ыҟан! Иара еснагь даҳхылаԥшуан, насгьы ашәара ҳҽаҳамҭарц дҳацхраауан.

Атәылаҿы аҭагылазаашьа шеицәахозгьы аҵабырг алашара шкаҷҷац икаҷҷон. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыԥсҭазаара еиқәдырхарц азы зныкымкәа абналара шрықәшәазгьы, зегьы рхыргеит, рхаҵарагьы шыӷәӷәаз иаанхеит. Шьоукы ирҳәон уи аибашьра арыцҳара ду иазыҟанаҵеит ҳәа. Агәымшәара злаз аизара ахылаԥшыҩцәеи иқәыԥшыз аишьцәеи рхы иамеигӡаӡакәа аизарақәа ирхылаԥшуан. Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы рыҩнқәа аанрыжьыр акәхеит, аха ажәабжьҳәареи аизарақәа рҭаареи иаҟәымҵӡеит. Дара абнаҿы ирԥыхьашәоз амаҭәахәқәа рхы иархәаны Аҳратә залқәа дыргылон. Аизарақәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы амшын еиԥш еилашуаз ишәарҭаз атәылаҿы иԥсыршьагаз ҿықәын. Егьырҭ ирзеиҭарҳәоз ажәабжь бзиа дара рхаҭақәагьы ргәы шьҭнахуан. Агуманитартә цхыраара анырзаҳшоз, аӡәырҩы амаҭәа акәымкәа, ажәабжьҳәаразы ашәыра иаҳәон. Уи даара угәы ҟанаҵон! Згәы ҭаҷаҷаз Либериа инхоз ауаа ажәабжь бзиа иазгәыҳәны иазыӡырҩуан. Дара уамашәа ирбон рыкәша-мыкәша аума шыҟазгьы, Иегова ишаҳаҭцәа насыԥ ахьрымаз, насгьы аԥсҭазаара иахьалагәырӷьоз. Урҭ ари илашьцоу адунеи аҿы алашара ашәахәа иаҩызан (Матф. 5:14—16). Уи абзоурала еибашьуаз аӡәырҩы ԥыҭрак ашьҭахь Иегова ишаҳаҭцәа ракәны иҟалеит.

ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ РААНЫЖЬРА АНҲАҚӘШӘА, ИЕГОВА ҲИРӶӘӶӘОН

Пол: Зныкымкәа Либериа ааныжьны ацара ҳақәшәахьан: хынтә — аамҭа кьаҿк ҳәа, ҩынтә — шықәсык ҳәа. Миссионерс амаҵ зуаз иаҳәшьак ҳцәаныррақәа абас дрыхцәажәеит: «Галаад аҿы ишаҳдырҵоз еиԥш амаҵ ахьаҳуаз иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала бзиа иаҳбеит. Убри аҟынтә ауадаҩра ианҭагылаз аамҭазы рааныжьра анҳақәшәоз ҳгәы ҳахьуан». Ҳара ирзааигәаз атәылақәа рҿы акәын ҳахьыҟаз, убри аҟынтә анаҩсгьы ҳрыцхраалар ҳалшон.

Ҳгәырӷьаҵәа Либериаҟа ҳхынҳәуеит. 1997-тәи ашықәс

Енн: 1996 шықәса, маи мзазы Либериа ажәабжьҳәаратә ус шымҩаԥысуаз иазкыз ихадаз адокументқәа зегьы амашьына иҭаҳҵан, ҩыџьа Иегова ишаҳаҭцәа ҳацны, уиаҟара иахьшәарҭамыз аҭыԥ ахь ҳдәықәлеит. Афилиал аҟынтә уи аҭыԥ аҟынӡа 16 километра бжьан. Аха амҩан аибашьцәа ҳақәшәеит. Дара аҳауахь ахысра иалагеит, ҳааныркылеит, нас Пол ида зегьы амашьына ҳҭырцан, иара дрыманы рхы ахьынахоз ицеит. Ҳахҩыкгьы ҳшанханы ҳашгылаз, Пол дшаауаз ҳбеит. Илахь ашьа аҿыкәкәон. Азныказы ихы иеихсит ҳәа ҳгәы иаанагеит. Убриаҟара ҳшәаны ҳаҟан, иеихсызҭгьы дшыԥсхьазаарыз ҳазымхәыцӡеит. Аха иҟалаз уи ауп, Пол амашьына данҭырцоз аибашьцәа руаӡәк дисзаап. Ахәра уиаҟара иахьдумыз ҳақәҿиеит.

Уи ашьҭахь амашьына ду ҳбеит. Аруаа аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рҟынтә ауаа алганы иргон. Амашьына унацәа узаламҵо иҭәын аҟынтә, акузов ҳахьынҳаланы ҳцар акәхеит. Амашьынаныҟәцаҩ убас иаӷьны ддәықәлеит, ҳалыҩрны ҳкаҳахьан. Уи даангыларц ҳиҳәон, аха дшәаҟьаны дыҟан, иаҳҳәозгьы иаҳаӡомызт. Иҳаулакгьы, ҳкамҳакәа ҳаҽнаҳкылеит, аха амашьына анаангыла, ҳахьаҟьоз иахҟьаны, ҳаззегьы аҟәара-ҟәара ҳаиҵасуан.

Пол: Ҳара ҳамаҭәа ҟьашьит, иагьԥыжәжәеит. Ҳаԥсы ҭаны ҳазланхазеи ҳәа иџьашьаны ҳаихәаԥшуан. Уи ауха адәаҿы иҳаршеит. Адырҩаҽны ахы икылнаҵәҵәахьаз аверталиот ала Сьерра-Лео́неҟа ҳаргеит. Ҳаԥсы ҭаны ҳахьынхаз ҳаигәырӷьон, аха Либериа инҳажьыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы ҳгәы ҳахьуан.

ИЕГОВА ҲЗЫҚӘШӘАЗ ДАҼА УАДАҨРАКГЬЫ АХГАРА ДҲАЦХРААИТ

Енн: Ҳара ақалақь Фрита́ун иҟаз афилиал ахь ҳааит. Уа ибзианы ҳрыдыркылеит. Ара шәарҭарак ыҟамызт, аха Либериа иаҳхаҳгаз иадҳәалаз агәалашәарақәа сдыргәаҟуа иалагеит. Ҽынла ашәареи агәҭынчымреи схыҵуамызт, сахьыҟоу-сахьану сзеилымкаауашәа збон. Уахынла аԥхыӡ бааԥсқәа збон, насгьы аԥхӡы хьшәашәа саганы сааԥшуан. Уи адагьы, аҳауа сзымхо схәаҽуа салагеит. Убасҟан Пол снапы аанкыланы Анцәа иҳәара далагон. Ҳара сшәара схыҵаанӡа ҳашәақәа ҳҳәон. Сара схы еилаԥсозшәа збон, уаҳа миссионерс амаҵ аура сылшом ҳәагьы сгәы иаанагон.

Анаҩс иҟалаз ахаан исхашҭӡом. Убри зегь ансыхь амчыбжь азы ҩ-журналк ҳауит. Руак 1996 шықәса, ииун 8 рзы иҭыҵыз «Пробудитесь!» акәын. Уа ианыз астатиа иахьӡын «Как справиться с приступами панического страха». Убасҟан исыхьыз еилыскааит. Аҩбатәи ажурнал 1996 шықәса, маи 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) акәын. Уи ажурнал аҿы ианын астатиа «Откуда у них берутся силы?». Уа иҳәан аԥарԥалыкь амҵәыжәҩақәа ӷәӷәала иҟәаҟәаны иҟазаргьы, аԥырра шалшо. Убас еиԥшҵәҟьа ҳаргьы, ҳемоциатә гәабзиара ааха аиузаргьы, Иегова иԥшьоу идоуҳа абзоурала егьырҭ рзы иҟаҳҵалар ҳалшо рацәоуп. Уи ианаамҭаҵәҟьаз Иегова иҳаиҭаз доуҳатә фатәын (Матф. 24:45). Сара ус еиԥш иҟаз астатиақәа еизызган, аамҭа-аамҭала срыԥхьон. Убас астресс исызцәырнагаз ачымазара хәыҷы-хәыҷла исхыҵуа иалагеит.

ИЕГОВА АИҬАКРАҚӘА РЫҼРЫҚӘЫРШӘАРА ДҲАЦХРААИТ

Пол: 2004-тәи ашықәс анҵәамҭазы Либериаҟа ҳанырышьҭыз аахыс 20 шықәса ҵырц егьагмызт. Уи ҩныс иаҳзыҟалеит. Аибашьра нҵәеит. Афилиал аҿы аргыларатә усқәа ирылагараны ишыҟаз еиԥш, ҳара даҽа тәылак ахь ҳаиасырц ҳадыргалеит.

Иҿыцыз адҵа адкылара мариамызт. Ҳара аҭыԥантәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрышьцылеит, дара рыда иҳаԥсыхәои ҳәагьы ҳхәыцуан. Уаанӡа ҳҭынхацәа ааныжьны Галаад ашкол ахь ҳцахьан. Усҟан Иегова инапы ҳҽанаҳҵеит, иаргьы гәыҭбаарыла даҳзылԥхеит. Уи уажәы иҳауз адҵа адкылара иҳацхрааит. Убас ааигәа иҟаз Га́на ҳнанагеит.

Енн: Либериантәи ҳанцоз иааҳҵәыуаз жәдыруандаз! Шәхаҿы иаажәг шаҟа иџьаҳшьаз зықәрахь инеихьаз Френк зыхьӡыз аиашьа ҟәыш абас анҳаиҳәа: «Шәара ҳашәхашҭроуп!» Анаҩс иациҵеит: «Ҳәарада, шәара еснагь ҳашәгәалашәалоит, аха иҿыцу адҵа шәгәы-шәыԥсы зегь адышәҵароуп. Уи адҵа Иегова иоуп ишәызҭаз. Убри аҟынтә уажәшьҭа шәыбзиабара зегь Гана иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирышәҭала». Арҭ ажәақәа иаҳҭахыҵәҟьаз акәын. Гана ҳаздыруаз маҷҩын, насгьы зегьы ҳара ҳзы иҿыцын, аха уа ҳаннеи иаразнак аҩызцәа рыԥшаара ҳалагеит.

Пол: Гана иҟаз иҿыцыз ҳдоуҳатә ҭаацәара бзиа иаҳбарц азы маҷк аамҭа ауп иаҳҭаххаз. Уа Иегова ишаҳаҭцәа рацәаҩын! Урҭ Иегова иахь иаадырԥшуаз азиашареи ахаҵара ӷәӷәеи ҳара ҳзы иҿырԥшыган. Гана 13 шықәса ҳанхон, анаҩс даҽаџьара ҳрышьҭит. Уи Ке́ниа, Мрагыларатәи Африка, иҟоу афилиал акәын. Уаанӡа амаҵ зцаҳуаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шыгәхьааҳгозгьы, Кениа ҳаннеи, аҩны ҳаҟазшәа ҳбеит. Ҳара идууз атерриториаҿы ажәабжьҳәара здыз афилиал ахь ҳақәшәеит, уа аусутә даара ирацәан!

Мрагыларатәи Африка, ҳҩызцәа ҿыцқәеи ҳареи. 2023-тәи ашықәс

ИЕГОВА ИМАҴЗУРАҾЫ ИАҲХАҲГАЗ АШЫҚӘСҚӘА ИАҲДЫРҴАЗ

Енн: Ҳаԥсҭазаараҿы ишәарҭаз аҭагылазаашьақәа рацәан. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ауаҩы ицәеижьтә, насгьы иемоциатә гәабзиара ак азааннамыжьыр ауӡом. Анцәа имаҵзуҩцәагьы уи аҩыза рыхьыр ауеит. Ахысыбжь ма атҟәацыбжь шаасаҳалак, сгәы ахынҳәра иалагоит, снапқәагьы дысуеит. Аха Иегова еснагь ҳацхраара дазхиоуп, иаҳҳәап, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла, уи ҳаҭала агәра згахьеит. Уи адагьы, еилыскааит ҳдоуҳатә усқәа ибзианы еиҿкааны иҳамазар, Иегова иарбанзаалак адҵа анагӡаразы амч шҳаиҭо.

Пол: Ҳара зны-зынла иҳазҵаауеит: «Ишԥацо шәмаҵзура? Ара ишәгәаԥхома?» Аха ҳара ҳзы атәыла акәӡам ихадоу. Уи егьа иԥшӡазаргьы, уаҟа аҭагылазаашьа иаалырҟьаны ицәгьахар алшоит. Ҳара ҳзы ихадоу зыхә ҳараку ҳдоуҳатә ҭаацәара ауп. Ҳара зегьы ҳаиԥшӡам, аха Иегова иахь иҳамоу абзиабара ҳаиднакылоит. Енни сареи егьырҭ атәылақәа рахь ҳзырышьҭуаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхларц азы ауп, аха аиаша уҳәозар, дара ракәын ҳгәы шьҭызхуаз!

Ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ҳаиасцыԥхьаӡа еиҳагьы агәра ҳгон адунеизегьтәи ҳаиашьара — иџьашьахәу ак шакәу! Ҳахьыҟазаалакгьы, аизара абзоурала еснагь аҭаацәеи аҩни ҳамоуп. Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ҳиқәгәыӷлар, ҳзықәшәозалаакгьы, амч шҳаиҭо (Флп. 4:13).

a Шәахәаԥш 1973 шықәса, март 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (англыз) аҿы иану Џьон Чарук ибиографиа «Я благодарен Богу и Христу».