Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Шәхатә ҭҵаара есымчыбжьа амҩаԥгара ишәыцхраауа

Шәхатә ҭҵаара есымчыбжьа амҩаԥгара ишәыцхраауа

ИШԤАМҨАԤЫСУЕИ шәхатә ҭҵаара? Иааиԥмырҟьаӡакәа, насгьы ишәгәарԥханы Абиблиа ҭышәҵаауама? Мамзаргьы зны-зынла акәу ианымҩаԥыжәго? Уи шәарааԥсома? Ҳара зегьы ҳанеиԥҟьо ыҟоуп. Аха шәазхәыц ак иааиԥмырҟьаӡакәа ианыҟауҵо, уи шаҟа хәарҭа узаанаго. Иаҳҳәап, ацқьара атәы ҳҳәозар. Ҳҽаҳкәабарц азы аамҭеи амчи аҭахуп. Аха шаҟа ибзиоузеи ҳҽанаҳкәабалак! Ҳласӡа ҳҟалоит! Убас еиԥшҵәҟьа Абиблиа аҭҵаарагьы агәырӷьара ҳзаанагоит (Еф. 5:26). Иҳацхраауазеи ҳхатә ҭҵаара абжьамыжьра?

  • Абиблиа анҭышәҵаало аамҭа алышәх. Ахатә ҭҵаара «еиҳа ихадоу» ахь иаҵанакуеит, уи ақьырсианцәа зегь имҩаԥыргалароуп (Флп. 1:10). Иманшәалоу аамҭа алышәх, уи абӷьыц ианҵаны иахьышәбарҭоу џьара икыдышәҵа, ма шәҭел аҿы агәаларшәага ықәшәыргыл.

  • Ишышәзыманшәалоу иҟашәҵала. Шьоукы рхатә ҭҵаара аамҭа рацәаны иазыркуеит, даҽа шьоукы имаҷны, аха лассы-лассы иҭырҵаауеит. Еиҳа ишышәзеиӷьу шәара шәоуп издыруа. Убри аҟынтә шәара ишышәзыманшәалоу иҭышәҵаала. Аха иҟашәҵар шәылшои иалшәхыз аамҭа ааизар, аха аҭҵааразы агәаҳәара шәымамзар? Ишәылшома 10 минуҭк иадамзаргьы ак ҭышәҵаар. Уи еиҳа еиӷьуп, шәхатә ҭҵаара зынӡа имҩаԥышәымгар аасҭа. Издыруада аҭҵаара агьама шәкыр, иҵегь иацышәҵар шәҭаххар (Флп. 2:13).

  • Заа атема алшәх. Иҭышәҵааша атема аҭҵаараан шәашьҭалар, иҟалап «шәаамҭа еиҳа ихадоу» ишәзазымкыр (Еф. 5:16). Еиҳа инарҵауланы иҭышәҵаарц ишәҭаху астатиақәа ма егьырҭ атемақәа рсиа џьара ианышәҵала. Иаҳҳәап, зҵаарак аншәызцәырҵуа уи иаразнак џьара ианышәҵа. Темак ҭҵааны шәаналгалак ашьҭахь, иҭышәҵаарц ишәҭаху даҽа зҵаарак шәызцәырҵыр ауеит, уигьы џьара ианышәҵар шәылшоит.

  • Аҭагылазаашьа шәҽақәшәыршәала. Ишәцәыхьанҭоу аграфик ашьақәыргылара аҭахӡам. Иаҭаххар, амши, аамҭеи, иҭышәҵаауа атемеи шәыԥсахлар шәылшоит. Ихадоу ианба, шаҟа, насгьы иҭышәҵаауа закәу акәӡам, аха уи иааԥмырҟьаӡакәа, есымчыбжьа, аҟаҵара ауп.

Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҭаҳҵаалар, уи ахәарҭа ҳзаанагоит. Ҳара Иегова ҳаизааигәахоит, ҟәыӷарала ахымҩаԥгашьа ҳҵоит, амчгьы ҳауеит (Иис. Н. 1:8).