Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 41

АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы

Иаҳдырҵозеи Иисус адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи 40 мшы?

Иаҳдырҵозеи Иисус адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи 40 мшы?

«Иара 40 мшы рыҩныҵҟа ихы дирбон, насгьы Анцәа Иаҳра аӡбахә рзеиҭеиҳәон» (АУС. 1:3).

ЕИЛАҲКААУА

Иисус адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи 40 мшы рыҩныҵҟа дызҿыз, насгьы ҳара уи иҿаҳҵаар ҳалшо.

1, 2. Ирыхьзеи Иисус ҩыџьа иҵаҩцәа Еммаусҟа амҩа ианықәыз?

 ИЦОИТ нисан 16, 33 ашықәс ҳ. ҳ. Иисус иҵаҩцәа ргәы гәырҩала иҭәуп, ишәангьы иҟоуп. Урҭ рҟынтә ҩыџьа Иерусалим иалҵны 11 километра ахьыбжьоу Еммаус захьӡу ақыҭахь ицоит. Дара ргәы каҳаӡаны иҟоуп. Урҭ агәра ргон Иисус ауриацәа рыԥсҭазаара еиӷьызтәуа Мессиа шиакәу. Аха уажәшьҭа, иара данԥсы, ргәыӷрақәа зегь рцәыӡит. Аха дара рхаҿгьы ирзаагом закә гәырӷьароу ирзыԥшу.

2 Амҩан Иисус иҵаҩцәа ирзымдыруаз хаҵак дырбоит. Дара изеиҭарҳәоит ргәы каҳаны изыҟоу, насгьы Иисус ихьыз. Уи ахаҵа дырзыӡырҩуеит, анаҩс рыԥсҭазаара шьаҭанкыла изыԥсахуа ак рзеиҭеиҳәоит. «Моисеии егьырҭ аԥааимбарцәеи ирыҩуаз инаркны», иара иреилиркаауеит Мессиа агәаҟрақәа ихганы дзыԥсыр заҭаххаз. Урҭ ахҩыкгьы еиманы Еммаус ианааи, аҵаҩцәа еилыркаауеит уи ахаҵа зыԥсы ҭалаз Иисус шиакәу! Шәхаҿы иаажәг, Мессиа иԥсы шҭоу анеилыркаа изакә гәырӷьароу ироуз! (Лука 24:13—35).

3, 4. Ишԥарыцхрааи Иисус иҵаҩцәа иареи дареи ахьеиқәшәаз, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Аусқәа 1:3).

3 Иисус адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи 40 мшы рыҩныҵҟа зныкымкәа иҵаҩцәеи иареи еиқәшәахьан. (Шәаԥхьа Аусқәа 1:3.) Уи аамҭа иалагӡаны згәы каҳаны, ишәаны иҟаз ахацәеи аҳәсеи агәымшәара злаз жәабжьҳәаҩцәаны иҟалеит. Уажәшьҭа дара гәацԥыҳәарала Аҳра иазку ажәабжь ауаа рылаҳәареи Христос ишьҭанеицәаны аҟалара рыцхраареи иазхиан a.

4 Иисус зеиԥшыҟамыз уи аамҭа шихигаз ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Шәааи ҳахәаԥшып иара уи аамҭа иалагӡаны: 1) иҵаҩцәа ширӷәӷәаз, 2) аҩыра еиҳа еиӷьны аилкаара дышрыцхрааз, насгьы 3) аԥхьаҟа ироураны иҟаз аҭакԥхықәрақәа ишырзыҟаиҵаз. Ҳара арҭ апунктқәа ҳрылацәажәоит, насгьы Иисус ҳаиҿыԥшлар шҳалшо еилаҳкаауеит.

ЕГЬЫРҬ РГӘЫ ШЬҬЫШӘХЛА

5. Избан Иисус иҵаҩцәа агәышьҭыхра зырҭахыз?

5 Иисус иҵаҩцәа агәышьҭыхра рҭахын. Избан? Урҭ рҟынтә аӡәырҩы ишьҭанеицәаны иҟаларц азы рыҩнқәеи, рҭынхацәеи, русуреи аанрыжьит (Матф. 19:27). Иҟан зхаҵара иахырҟьаны иҽеимкәа изызныҟәозгьы (Иоанн 9:22). Аха дара уеизгьы рхы иеигӡаӡомызт, избанзар Иисус иззыԥшыз Мессиа шиакәыз агәра ргон (Матф. 16:16). Аха Иисус даныршь, изықәгәыӷуаз зегь башахазшәа рбеит. Еилкаауп дара ргәы каҳаны изыҟаз.

6. Иҟаиҵазеи Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь?

6 Иисус еиликаауан иҵәаҩцәа ргәы каҳаны иахьыҟаз рхаҵара ԥсыҽуп ҳәа шаанамгоз, аха рҩыза дахьыԥсыз азы шакәыз. Убри аҟынтә иԥсы анҭала аҽныҵәҟьа иҩызцәа ргәы шьҭихырц иӡбеит. Иаҳҳәап, идамра иадгыланы иҵәыуоз Мариа Магдалина лахь днеит (Иоанн 20:11, 16). Иара убас Еммаусҟа амҩа иқәыз ҩыџьа иҵаҩцәа драцәажәеит. Иара апостол Пиотр иахьгьы дцеит (Лука 24:34). Иаҳнарҵозеи ҳара Иисус иҿырԥшы? Шәааи ҳалацәажәап Мариа Магдалинеи Иисуси анеибаба ашьҭахь иҟалаз.

7. Игәеиҭазеи Иисус Мариа данлыхәаԥшуаз, насгьы иҟаиҵазеи лара лзы? (Иоанн 20:11—16). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Шәаԥхьа Иоанн 20:11—16. Нисан 16 азы, ашьыжь шаанӡа гәыԥҩык аҳәса Иисус дахьжыз инеит (Лука 24:1, 10). Уа аԥсы дшыҟамыз анырба, руаӡәк, Мариа Магдалина, Пиотри Иоанни уи рзеиҭалҳәарц азы дыҩны дцеит. Пиотри Иоанни иаразнак адамрахьы ицеит, Мариагьы уахь дрышьҭаланы дцеит. Апостолцәа аԥсы дшыҟамыз анырба, рыҩныҟа ихынҳәит. Мариа уа даангылеит, адамра дадгыланы аҵәыуарагьы даҿын. Лара лыгәгьы иаанагомызт Иисус дышлыхәаԥшуаз. Иара игәаҵанӡа инеит лара дахьҵәыуоз. Убри аҟынтә ихы лирбеит, дагьлацәажәеит. Иара жәақәак роуп илеиҳәаз, аха урҭ ажәақәа лгәы дырҭынчит. Иара убас ихадаз адҵа лыдиҵеит: иԥсы шҭалаз иашьцәа ирзеиҭалҳәарц (Иоанн 20:17, 18).

Иисус шәиҿыԥшла: згәы каҳаны иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәашәҭала, насгьы ргәы шьҭышәхла. (Шәахәаԥш абзац 7.)


8. Ишԥаҳалшо Иисус ҳаиҿыԥшлар?

8 Ишԥаҳалшо Иисус ҳаиҿыԥшлар? Ҳара иҳалшоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Иегова изиашаны аанхара ҳрыцхраалар. Урҭ зықәшәо ауадаҩрақәа ҳьаас иҳамазар, насгьы рцәаныррақәа реилкаара ҳҽазаҳшәозар, уи ргәы арҭынчлоит. Џьо́селин лаҳәшьа еиҵбы машәырла дҭахеит, лара илҳәоит: «Уи агәаҟра санақәшәа, сгәы ахьаа ҭыҵуамызт. Ус амзақәа цон». Ҭаацәарак сасра саарыԥхьеит. Урҭ хаҵеи-ԥҳәыси Џьоселин лыгәҭыхақәа лҳәартә алшара лырҭеит, насгьы Иегова лыхә ҳаракны ишишьо агәра лдыргеит. Џьоселин иацылҵоит: «Уи аицәажәара сеиқәнархеит. Сара ицәқәырԥо амшын аҿы аӡааҟәрылара саҿызшәа збон. Аха Иегова урҭ хаҵеи-ԥҳәыси сеиқәдырхарц исзааишьҭит. Урҭ рыцхыраарала дырҩегь Иегова имаҵ аура агәаҳәара соуит». Ҳаргьы аилкаара аарԥшны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарзыӡырҩуазар, насгьы рыгәҭыха аҳәаха раҳҭозар, уи Иегова имаҵ ауразы амч рнаҭоит (Рим. 12:15).

АУАА АНЦӘА ИАЖӘА ЕИӶЬНЫ АИЛКААРА ШӘРЫЦХРААЛА

9. Иарбан уадаҩраз ирымаз Иисус иҵаҩцәа, насгьы дышԥарыцхрааи уи аиааира?

9 Иисус иҵаҩцәа Анцәа Иажәа агәра ргон, насгьы уи инақәыршәаны анхара рҽазыршәон (Иоанн 17:6). Аха дара ирзеилкааӡомызт Рырҵаҩы ацәгьаҟаҵаҩ иеиԥш дзыршьыз. Иисус идыруан иҵаҩцәа агәыҩбара зроуз ахаҵара ахьырцәыӡыз ма Иегова бзиа ибара иахьаҟәыҵыз азы шакәмыз, аха Аҩыра ибзианы иахьырзеилымкаауаз азы шакәыз (Лука 9:44, 45; Иоанн 20:9). Убри аҟынтә Иисус иҵаҩцәа Анцәа Иажәа аҟынтә изыԥхьоз азхәыцшьа дирҵон. Уи убарҭоуп Еммаусҟа амҩа иқәыз ҩыџьа иҵаҩцәеи иареи реицәажәара аҟынтә.

10. Дышԥарыцхрааи Иисус иҵаҩцәа Мессиа шиакәыз аилкаара? (Лука 24:18—27).

10 Шәаԥхьа Лука 24:18—27. Иазгәашәҭ Иисус иаразнак дызусҭаз шимҳәаз. Уи аҭыԥан иара азҵаарақәа риҭон. Избан? Иҟалап иҵаҩцәа ргәаанагара рҳәар иҭахызҭгьы. Даргьы ргәы иҵхоз изеиҭарҳәеит. Урҭ гәыӷуан Иисус римаа рҭыԥан напхгара рзиулоит ҳәа. Иисус иҵаҩцәа ибзианы дырзыӡырҩит, нас Аҩыра ихы иархәаны аԥааимбаражәақәа шынаӡаз реилиркааит b. Уи аухазы Иисус егьырҭ иҵаҩцәагьы уи реилиркааит (Лука 24:33—48). Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

11, 12. а) Ишԥаҳалшо аӡәы Абиблиа аниҳарҵо Иисус ҳаиҿыԥшлар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Дышԥаицхрааи аиашьа Абиблиа зирҵоз?

11 Ишԥаҳалшо Иисус ҳаиҿыԥшлар? Абиблиа аҵара анымҩаԥыжәго ҳаҭырқәҵарала азҵаарақәа шәҭила. Уи шәыцхраауеит ауаҩы игәаанагареи игәы иҵхои аилкаара (Ажәам. 20:5). Иҭагылазаашьаҿы ицхраауа Абиблиа аҟынтә ажәеинраалақәа шиԥшааша ишәырба. Иҟаҵатәу-шыҟаҵатәу иашәҳәарц шәҭаххаргьы, ус ҟашәымҵалан. Еиҳа еиӷьуп азҵаарақәа шәыцырхырааны ауаҩы урҭ ажәеинраалақәа реилкаара шәицхраар. Хықәкыс ишәымоу — урҭ иԥсҭазаараҿы ихы иаирхәар шилшо ихала еиликаарц ауп. Шәааи ҳахәаԥшып Га́на инхо аиашьа Но́рти уи азнеишьа шицхрааз.

12 Норти 16 шықәса анихыҵуаз, Абиблиа аҵара далагеит. Хара имгакәа иҭаацәа иԥырхагахо иалагеит, аха Норти уи дааннамкылаӡеит. Ицхрааи иара? Норти игәалашәеит Абиблиа изырҵоз аиашьеи иареи Матфеи 10-тәи ахы ишалацәажәоз. Уа иаҳәоит ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ишрышьҭашәарыцало. «Сара ашьҭашәарыцарақәа санрықәшәа, — иҳәоит Норти, — аҵабырг шысыԥшааз еилыскааит». Иара убас аиашьа Матфеи 10:16 аҿы иану ажәақәа реилкаара дицхрааит, насгьы агәҽанызаара шаарԥшлатәу дазирхәыцит. Норти еиликааит иҭаацәа аҵабырг анырзеиҭеиҳәо дырҿамԥаӡакәа ҳаҭырқәҵарала дышрацәажәалаша. Норти аӡы иҽанӡааих ашьҭахь пионерс амаҵ аура далагарц иӡбеит. Аха иаб иҭахын Норти ауниверситет дҭаларц. Ари аҭагылазаашьаҿгьы аиашьа даламгаӡеит Норти иҟаиҵаша иаҳәара. Иара ихала аӡбара идикыларц азы абиблиатә принципқәа иирбеит. Иарбан алхроу иҟаиҵаз Норти? Иара пионерс амаҵ аура далагеит. Уи азы иаб аҩны ддәылицеит. Дахьхәыма Норти иҟаиҵаз алхра? Абар иара иихәо: «Сара агәра ганы сыҟоуп иҟасҵаз алхра шиашоу». Шәааи ҳаамҭа ҳамеигӡалап, ауаа рыԥсҭазаараҿы абиблиатә принципқәа рхы иадырхәалар шрылшо дҳарҵаларц азы. Убасҟан дара аҵабырг ахаангьы иацәхьаҵӡом (Еф. 3:16—19).

Иисус шәиҿыԥшла: ауаа Анцәа Иажәа еиӷьны аилкаара шәрыцхраала. (Шәахәаԥш абзац 11.) e


АИШЬЦӘА «ҲАМҬАҴАС» АҞАЛАРА ШӘРЫЦХРААЛА

13. Иҟаиҵазеи Иисус ажәабжьҳәаратә ус ажәҩан ахь данцалак ашьҭахь иаанымгыларц азы? (Ефесаа 4:8).

13 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз, Иаб ииҳәоз ишиҳәозҵәҟьа инаигӡон (Иоанн 17:4). Аха Иисус игәы иаанагаӡомызт Анцәа ииҭаху аҟаҵара иара заҵәык иоуп изылшо ҳәа. Иисус хышықәсеи бжаки рыҩныҵҟа имаз аԥышәеи адыррақәеи иҵаҩцәа ирыцеиҩишон. Иара идирбон ажәабжь шҳәалатәу, рҵаҩ бзианы ишыҟалатәу, иара убас Иегова иуасақәа ишырхылаԥшлатәу. Иисус ажәҩан ахь дцаанӡа, урҭ ахацәа ажәабжьҳәаратә уси арҵаратә уси напхгара азыруларц рнапы ианиҵеит. Иҟалап урҭ рҟынтә шьоукы 30 шықәсагьы рхымҵыцызҭгьы. (Шәаԥхьа Ефесаа 4:8.) Шәааи ҳахәаԥшып, Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи 40 мшы рыҩныҵҟа аџьабаа иацәымаашьоз Анцәа изиашаз урҭ аишьцәа «ҳамҭаҵас» аҟалара дышрыцхраауаз. (Шәахәаԥш англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы Ефесаа 4:8 ахь иаагоу акомментари.)

14. Идирҵози Иисус ишьҭанеицәа адгьыл аҿы ихигаз аҵыхәтәантәи 40 мшы рыҩныҵҟа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Иисус ианаҭахыз иҵаҩцәа хаала алабжьара риҭон. Иаҳҳәап, шьоукы иԥсы шҭалаз агәра ргаӡомызт. Убри аҟынтә иара аиаша деилиркааит, алабжьарагьы риҭеит (Лука 24:25—27; Иоанн 20:27). Иара убас Иисус иҵаҩцәа иргәалаиршәеит раԥхьаӡа иргыланы ибзиоу хьчаҩцәаны иҟазарц, аԥара арҳара рхы азырмышьҭларц (Иоанн 21:15). Уи адагьы, егьырҭ рхы рыҿдмырԥшӡакәа ирыду адҵақәа ибзианы инарыгӡаларц реиҳәеит (Иоанн 21:20—22). Иара убас Иисус иҵаҩцәа Анцәа Иаҳра иазкны ирымаз ииашамыз агәаанагара ириашеит, насгьы ажәабжьҳәаратә ус рхы азышьҭра дрыцхрааит (Аус. 1:6—8). Иднарҵозеи Иисус иҿырԥшы аизара ахылаԥшыҩцәа?

Иисус шәиҿыԥшла: аишьцәа еиҳа еиӷьны аизара ахылаԥшышьа дшәырҵала. (Шәахәаԥш абзац 14.)


15, 16. а) Иҟарҵалар акәзеи аизара ахылаԥшыҩцәа Христос иҿыԥшны? б) Ишԥаицхрааи Патрик ианаамҭаз ирҭаз алабжьара?

15 Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Иисус иҿыԥшлар? Дара аишьцәа — зынӡа иқәыԥшугьы уахь иналаҵаны, — аизараҿы еиуеиԥшым адҵақәа нарыгӡаларц азы иазыҟарҵалароуп c. Аизара ахылаԥшыҩцәа еилыркаауеит аишьцәа ирҵаша шырацәоу. Урҭ аԥышәа аизырҳара адагьы, ахынраалара еиздырҳароуп, урықәгәыӷыртә иҟалароуп, иара убас аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара иазхиазароуп. Убри аҟынтә ихадоуп аизара ахылаԥшыҩцәа абзиабара аҵаҵаны алабжьарақәа рырҭалар (1 Тим. 3:1; 2 Тим. 2:2; 1 Пиотр 5:5).

16 Ҳахәаԥшып, Патрик иԥсҭазаара аҽшаԥсахыз алабжьара ахьирҭаз абзоурала. Иара еиҳа данқәыԥшыз дыхжәан, аиаҳәшьцәа рҿгьы убасҵәҟьа ихы мҩаԥигон. Аԥышәа змоу аизара ахылаԥшҩы уи аганахь ала хаала алабжьара ииҭеит. Патрик иҳәоит: «Сара сеигәырӷьоит иара уи ахьсеиҳәаз. Избон егьырҭ аишьцәа адҵақәа шрырҭоз, аха сара ишсырымҭоз. Уи сгәы канажьуан. Аха уи алабжьара исеилнаркааит ихадоу аҭакԥхықәрақәа шракәым. Ҳара ҳхы аус адаҳулалароуп ахынраалара ҳамазарц, насгьы аишьцәеи аихәшьцәеи рахь еиҳагьы абзиабара ааҳарԥшларц». Уи абзоурала Патрик 23 шықәса анихыҵуаз аизара ахылаԥшҩыс дҟалеит (Ажәам. 27:9).

17. Ишԥааирԥши Иисус иҵаҩцәа рыгәра шигоз?

17 Иисус иҵаҩцәа ажәабжь рҳәаларц адагьы аҵаҩцәа азыҟарҵаларцгьы адҵа риҭеит. (Шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы Матфеи 28:20 ахь иаагоу акомментари, ажәеидҳәала «уча их».) Иҟалап, дара адырреи аԥышәеи рзымхошәа ргәы иабозҭгьы. Аха Иисус агәраганы дыҟан дара уи адҵа анагӡара шрылшо, убри аҟынтә иреиҳәеит: «Саб сара адунеи ахь сшааишьҭыз еиԥш, саргьы шәара адунеи ахь шәсышьҭуеит» (Иоанн 20:21).

18. Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Иисус иҿыԥшлар?

18 Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Иисус иҿыԥшлар? Аԥышәа змоу аизара ахылаԥшыҩцәа аҭакԥхықәрақәа зегь рхахьы иргаӡом, урҭ егьырҭгьы ирыцеиҩыршоит (Флп. 2:19—22). Иаҳҳәап, дара иқәыԥшу аишьцәа Аҳратә зал аилыргареи ахылаԥшреи аҿы ацхыраара ҟарҵарц ирыҳәар ауеит. Аизара ахылаԥшҩы аиашьа дҵак анииҭо, уи шынаигӡаша иеилиркаауеит, уи ашьҭахь уи шынаигӡо дацклаԥшӡом. Убасала иара иаарԥшуеит уи аиашьа игәра шиго. Ааигәа аизара ахылаԥшҩыс иҟалаз Ме́тиу ахә ҳаракны ишьоит аԥышәа змоу аизара ахылаԥшыҩцәа адҵақәа анирҭоз убас ахьыҟарҵоз. Иара иҳәоит: «Иҿыцу ак ануҵо, агхақәа умыхьыр ауӡом. Сара даараӡа сеигәырӷьоит агхақәа ансыхьуаз, аишьцәа каамеҭк ҟалазшәа рхы ахьымҩаԥырымгоз, насгьы урҭ агхақәа ахәарҭа рылгара иахьсыцхраауаз» d.

19. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?

19 Иҟаиҵози Иисус адгьыл аҿы ихигоз аҵыхәтәантәи 40 мшы рыҩныҵҟа? Иара иҵаҩцәа ргәы шьҭихуан, аҵара дирҵон, насгьы аԥхьаҟа ироураны иҟаз аҭакԥхықәрақәа ирзыҟаиҵон. Шәааи ҳаргьы ус ҟаҳҵалап (1 Пиотр 2:21). Иисус уи аҿы дҳацхраауеит. Абар иара ииҳәаз: «Ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа сара есыҽны сшәыцзаауеит» (Матф. 28:20).

АШӘА 15 Иегова Иԥхьахшаа дҳарашәкла!

a Аевангелиақәеи Абиблиа иахәҭаку егьырҭ ашәҟәқәеи рҿы зыԥсы ҭалаз Иисус иҵаҩцәа рахь дышнеиз узырбо хҭысқәак ануп. Иара дырбон: Мариа Магдалина (Иоанн 20:11—18); егьырҭ аҳәса (Матф. 28:8—10; Лука 24:8—11); ҩыџьа аҵаҩцәа (Лука 24:13—15); Пиотр (Лука 24:34); апостолцәа, урҭ Фома данрыцмыз (Иоанн 20:19—24); апостолцәа, Фома данрыцыз (Иоанн 20:26); быжьҩык аҵаҩцәа (Иоанн 21:1, 2); 500-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа (Матф. 28:16; 1 Кор. 15:6); иашьа Иаков (1 Кор. 15:7); апостолцәа зегьы (Аус. 1:4), насгьы апостолцәа, урҭ Вифаниа азааигәара ианыҟаз (Лука 24:50—52). Иҟалап Абиблиаҿы зыӡбахә аным егьырҭ ахҭысқәагьы ыҟазҭгьы (Иоанн 21:25).

b Мессиа изку аԥааимбаражәақәа рсиа шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы иаагоу астатиа «Исполнились ли пророчества о Мессии на Иисусе Христе?» аҟны.

c Ҭагылазаашьақәак рҿы аишьцәа 25 шықәса анырхыҵлак инаркны араионтә маҵзура иалагар рылшоит. Аха зны, аԥышәа роурц азы, аизара ахылаԥшыҩцәас амаҵ руроуп.

d Аизара ахылаԥшыҩцәа иқәыԥшу аишьцәа аизара ахылаԥшышьа иҵегьы иддырҵар шрылшо атәы шәаԥхьар ауеит 2018 шықәса, август мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы, адаҟьақәа 11—12, абзацқәа 15—17, иара убас 2015 шықәса, апрель 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы, адаҟьақәа 3—13.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа Абиблиа зирҵои иареи абиблиатә жәеинраалақәа ирылацәажәоит, насгьы уи Иегова дыширгәырӷьалаша аилкаара дицхраауеит. Уи ашьҭахь Абиблиа зҵо Ашықәс ҿыц иазку арԥшӡагақәа каижьырц иӡбоит.