Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА

Ихадоу азхәыцрақәа еиҭашәгәалашәыршәала

Ихадоу азхәыцрақәа еиҭашәгәалашәыршәала

Иҟалахьоума ааигәа иҭышәҵааз ак аншәгәаламшәо? Зны-зынла зегьы ус ҳахьуеит. Нас, иҟаҳҵар ҳалшои? Ҳара иҳалшоит ихадоу азхәыцрақәа дырҩегь иаҳгәалаҳаршәар.

Темак анҭышәҵаауа аамҭа-аамҭала шәааҭгыланы, шәзыԥхьаз шәазхәыцла. Апостол Павел исаламшәҟәқәа руак аҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи убас ҟарҵаларц ргәазҭеиҵон. Иара иҩит: «Исҳәаз ҵакыс иамоу абри ауп» (Аур. 8:1). Убасала иара аԥхьаҩцәа дрыцхрааит ииҳәарц ииҭахыз аилкаареи, ирзиҩыз азхәыцрақәа злеидҳәалоу абареи.

Иаҳҳәап, шәара ишәылшоит аҭҵааразы иалшәхыз аамҭа аҵыхәтәаны 10 минуҭк ихадоу азхәыцрақәа рызхәыцра иазышәкыр. Шәара урҭ шәгәаламшәозар, ахеиҵақәа ма ихадоу аҳәоуқәа шәрыхәаԥш (абжьааԥны урҭ абзац алагамҭаҿы иаагоуп). Иҿыцу аинформациа анышәԥыло, уи шәхатә ажәақәа рыла еиҭашәҳәа. Ихадоу азхәыцрақәа еиҭашәгәалашәыршәалар, уи еиҳа игәнышәкылалоит, уи адагьы аматериал шәхы ишашәырхәаша еилышәкаауеит.