Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Шаҟа иҟази Соломон иныҳәарҭа аҩналарҭа аҳаракыра?
Аныҳәарҭа аҩналарҭа — Иԥшьоу аҭыԥ излаҩналоз, иаҿаԥшьны иҟаҵаз хыбран. 2023 шықәсанӡа иҭыҵыз аиҭага «Адунеи ҿыц» аҭыжьымҭақәа рҿы ианын: «Аҩналарҭа аура 20 мышьхәылҵ иҟан, уи аҩны аҭбаара иаҟаран, аҳаракыра — 120» (2 Аш. 3:4). Абиблиа егьырҭ аиҭагақәа рҿгьы уи аҩыза ахыԥхьаӡара анын — «120 мышьхәылҵ». Ус акәзар уи 53 метра иҳаракыз баашын!
Аха 2023 шықәса инаркны аиҭага «Адунеи ҿыц» аҿы иануп Соломон иныҳәарҭа аҩналарҭа «аҳаракыра 20 мышьхәылҵ иҟан ҳәа» a, даҽакала иуҳәозар 9 метрак раҟара. Ҳахәаԥшып уи аԥсахра зыҟаҵаз мзызқәак.
1 Аҳцәа 6:3 аҿы аҩналарҭа аҳаракыра аӡбахә аҳәаӡом. Аҳцәа рышәҟәқәа зҩыз Иеремиа ари ажәеинраалаҿы аҩналарҭа ауреи аҭбаареи рыӡбахә иҳәоит, аха аҳаракыра аӡбахә иҳәаӡом. Анаҩстәи ахаҿы иара аныҳәарҭа иадҳәалоу акәамаҵамарақәа дырзааҭгылоит, иаҳҳәап, игьежьу ирҭәоу амшыни, жәа-кәырҷыжьки, аҩналарҭа аҿаԥхьа игылаз абҩа иалхыз ҩ-гәашьаки (1 Аҳ. 7:15—37). Аҩналарҭа аҳаракыра 50 метра инареиҳаны иҟаҵәҟьазҭгьы, насгьы аныҳәарҭа иахыҳәҳәозҭгьы, нас избан Иеремиа уи аӡбахә зимҳәаз? Ашәышықәсақәа рышьҭахьгьы ауриа ҭоурыхҭҵааҩцәа аҩналарҭа Соломон иныҳәарҭа аасҭа еиҳа иҳаракуп ҳәа рыҩӡомызт.
Аҩналарҭа аҳаракыра 120 мышьхәылҵ иҟаҵәҟьазҭгьы аҭӡамцқәа уи аҩыза аидара рзынкыларымызт. Ажәытәан ахаҳә ма ақьырмыт иалхыз иҳаракыз аргыларақәа, иаҳҳәап, Египеттәи аныҳәарҭа агәашәқәа ҵаҟа ирҭбааны иҟарҵон, хыхь идырҭшәон. Аха Соломон иныҳәарҭа даҽакала ауп ишыргылаз. Аҵарауаа ргәы иаанагоит уи аҭӡамцқәа рыҭбаара 6 мышьхәылҵк, даҽакала иуҳәозар 2,7 метра, иреиҳаӡамызт ҳәа. Архитектура аҭҵааҩы Те́одор Бу́синк абри аҩыза алкаа ҟаиҵеит: «Аҩналарҭа аҭӡамцқәа рыҭбаара зеиԥшроу ала, уи аҳаракыра 120 мышьхәылҵ изыҟаларымызт».
Аҩырақәа хызҩылаауаз 2 Ашықәсынҵа 3:4 аҿы агха ҟарҵар рылшон. Ажәытә манускриптқәак рҿы ари ажәеинраалаҿы «120» ҳәа ануп. Егьырҭ узықәгәыӷыртә иҟоу анапылаҩырақәа рҿы, иаҳҳәап, V ашәышықәса ҳ. ҳ. азы иҟаҵан ҳәа иԥхьаӡоу Александриатәи акодекси, VI ашәышықәса ҳ. ҳ. азы иҟаҵан ҳәа иԥхьаӡоу Амвросиантәи акодекси рҿы ари ажәеинраалаҿы «20 мышьхәылҵ» ҳәа ануп. Избан аҩырақәа хызҩылаауаз агха ихьны «120» ҳәа аниҵар залшоз? Ауриатә бызшәаҿы «120» «шәки ҩажәеи» ҳәа ирыҩуеит, «20 мышьхәылҵ» акәзар — «амышьхәылҵқәа ҩажәа» ҳәа. Ажәақәа «шәкы», насгьы «амышьхәылҵқәа» даара еиԥшуп, убри аҟынтә аҩырақәа хызҩылаауаз «амышьхәылҵқәа ҩажәа» аҭыԥан «шәки ҩажәеи» ҳәа аниҵар илшон.
Ҳәарада, ҳара абас еиԥш иҟоу акәамаҵамарақәа реилкаара ҳгәаԥхоит, насгьы Соломон иныҳәарҭа асахьа анҭаҳхуа, уи иахьынӡалшо ииашаны иҟаҳҵалар ҳҭахуп. Аха ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадоу, уи аныҳәарҭа адоуҳатә ныҳәарҭа ду ахьаанарԥшуа ауп. Ҳара даара ахә ҳаракны иаҳшьоит Иегова уи аныҳәарҭаҿы имаҵ аура алшара ахьҳаиҭаз! (Аур. 9:11—14; Аат. 3:12; 7:9—17).
a 2 Ашықәсынҵа 3:4 ахь иаагоу албаагаҿы иануп: «Ажәытәтәи напылаҩырақәак рҿы „120“ ҳәа ануп, егьырҭ напылаҩырақәаки абиблиатә еиҭагақәаки рҿы „20 мышьхәылҵ“ ҳәа».