Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 39

Аҟәымшәышәра иӷәӷәоу уаҩны ҳҟанаҵоит

Аҟәымшәышәра иӷәӷәоу уаҩны ҳҟанаҵоит

«Иҳақәиҭу имаҵуҩы аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп, зегьы рзы дҟәымшәышәзароуп» (2 ТИМ. 2:24).

АШӘА 120 Христос ихынраалара шәаҿыԥшла

АХҲӘАА a

1. Иарбан зҵаарақәоу аусураҿы ма ашкол аҿы иҳарҭар алшо?

 ШӘХЫ шԥажәбо аус шәыцызуа ма аҵара шәыцызҵо ауаҩы шәхаҵара иазкны азҵаара шәиҭазар? Шәгәы ахыҭхыҭра иалагома? Аӡәырҩы уи аҩыза ҳақәшәахьеит. Аха урҭ рҩызцәа азҵаарақәа ирыцәшәалатәӡам, избанзар урҭ ауаҩы зыгәра иго аилкаара иҳацхраауеит. Убасҟан ауаҩы ажәабжь бзиа изеиҭаҳәара еиҳа иаҳзымариахоит. Аха ауаа зны-зынла ҳара иахьҳақәшаҳаҭым ма ажәа ҳамаркыр ахьырҭаху азы азҵаарақәа ҳарҭоит. Лассы-лассы уи зыхҟьо Иегова ишаҳаҭцәа ирызку ииашам аинформациа агәра ахьыргаз ауп (Аус. 28:22). Уи адагьы Абиблиаҿы заа иҳәан «аҵыхәтәантәи амшқәа раан» ауаа нышәара зқәым шракәхо, ргәыжәлагьы шыцәгьахо (2 Тим. 3:1, 3).

2. Избан аҟәымшәышәра ҳалазар зхадоу?

2 Иҟалап шәара абас шәгәы иаанагозар: «Ишԥасылшо аҭынчреи апатуқәҵареи аасырԥшлар, аӡәы схаҵара аганахьала ажәа сымеикырц азы азҵаарақәа сиҭозар?» Шәара ишәыцхраар алшоит аҟәымшәышәра, даҽакала иуҳәозар, ататара еиԥш иҟоу зыхә ҳараку аҟазшьа. Аҟәымшәышәра злоу ауаҩы аимак-аиҿак даларгалар анырҭаху, ма иаалырҟьаны азҵаара анирҭо аҽынкылашьа идыруеит (Ажәам. 16:32). Аха шәара абас шәҳәар ауеит: «Аҳәара мариоуп, аҟаҵара ауп ицәгьоу». Ишԥашәылшо аҟәымшәышәра шәылашәааӡар? Ишәыцхраар алшозеи шәхаҵара ианахыччо аҟәымшәышәра аарԥшра? Шәара ахәыҷқәа шәымазар, ишԥашәылшо рхаҵара анырыхьчо аҟәымшәышәреи апатуқәҵареи аарԥшышьа дшәырҵар? Шәааи еилаҳкаап.

АҞӘЫМШӘЫШӘРА ШЕИЗЫРҲАЛАТӘУ

3. Избан аҟәымшәышәра злоу дуаҩы ӷәӷәоуп, уи дыԥсыҽӡам ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (2 Тимофеи иахь 2:24, 25).

3 Аҟәымшәышәра — ауаҩы дшыӷәӷәоу аанарԥшуеит, уи ԥсыҽраӡам. Имариам аҭагылазаашьаҿы аҭынчра ааҳарԥшларц азы ҩныҵҟала ҳаӷәӷәазароуп. Аҟәымшәышәра — «иԥшьоу адоуҳа» еизнарҳауа аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22, 23). «Иҟәымшәышәу» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа зны-зынла рхы иадырхәоит и́рыбжьаз аҽы аӡбахә анырҳәо. Шәхаҿы иаажәг нкылашьа змамыз аҽы анырыбжьа ашьҭахь изеиԥшрахаз. Уи уажәшьҭа уаҩ ииҳәо аҳауеит, аха уаанӡа еиԥш амч ӷәӷәагьы алоуп. Убас ауп ауаагьы. Аҟәымшәышәра анҳалаҳааӡо ҳара еиҳагьы ҳаӷәӷәахоит. Аха уи ихадоу аҟазшьа еизҳарҳарц азы ҳааҟәымҵӡакәа аџьабаа абара мацара азхаӡом. Ҳара Анцәа иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц, насгьы аҟәымшәышәра аизырҳара дҳацхраарц ҳиҳәалароуп. Уи зылшаз рацәаҩуп. Ҳазҭахым ауаа ажәа анҳамаркуа Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы ататара аадырԥшуеит. Уи и́наԥшуа игәарымҭар ауӡом. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 2:24, 25.) Иҟаҳҵар ҳалшозеи аҟәымшәышәра иҳалоу аҟазшьа ӷәӷәақәа ируакхарц азы?

4. Иаҳнарҵозеи Исаак иҿырԥшы аҟәымшәышәра иазкны?

4 Абиблиаҿы аҟәымшәышәра злаз ауаа рацәаҩны рыӡбахә ануп. Исаак урҭ дыруаӡәкуп. Иара филистимаа рықалақь Герар азааигәара анхара даналага, иҵашьыцуаз игәылацәа иаб имаҵуцәа иржыз аҵеџьқәа анышә рҭарыԥсеит. Исаак урҭ ажәа рымакра даламгаӡеит. Иара даҽаџьара диасын, уаҟа аҵеџь ҿыцқәа ижит (Аҟаз. 26:12—18). Аха филистимаа уи аӡгьы ҳара иаҳтәуп ҳәа иаақәгылеит. Усҟангьы Исаак аҭынчра ааирԥшит (Аҟаз. 26:19—25). Ицхраазеи Исаак аҟәымшәышәра аарԥшра, филистимаа иара ажәа имакра шырҭахызгьы? Иҭаацәа Авраами Сарреи рҿырԥшы. Иара ибон иаб ауадаҩрақәа ҭынч ишиӡбоз, насгьы «аҭынчреи аҟәымшәышәреи» злаз иан лҿырԥшы гәеиҭон (1 Пиотр 3:4—6; Аҟаз. 21:22—34).

5. Иарбан хҭысу иаҳзырбо аҭаацәа-ақьырсианцәа рхәыҷқәа аҟәымшәышәра аарԥшышьа ддырҵар шрылшо?

5 Зыхә ҳараку аҭаацәа, шәаргьы ишәылшоит шәхәыҷқәа аҟәымшәышәра аарԥшышьа дшәырҵар. Абар 17 шықәса зхыҵуа Макса́нс иҿырԥшы. Иара ашкол аҿи амаҵзураҿи зыԥсахы еибакны иҟаз ауаа лассы-лассы иқәшәон. Иҭаацәа ачҳара аарԥшны, аҟәымшәышәра аус адулара ицхраауан. Дара ирҳәоит: «Максанс еиликааит игәы анԥыржәо аҽынкылара еиҳа ишыцәгьоу, ихжәаны аҭак аҟаҵара ма аӡәы ипҟара аасҭа». Максанс еиликааит аҟәымшәышәра злоу шиакәу иӷәӷәоу, насгьы уи аҟазшьа бзиа аизырҳара илшеит.

6. Иҳацхраар алшома Анцәа иҳәара аҟәымшәышәра иҵегь еиӷьны аарԥшра? Иҳаилшәыркаа.

6 Ҳхы мҩаԥаҳгар шԥаҳахәҭоу, ҳгәы ԥыржәозар? Иаҳҳәап, аӡәы Ҳанцәа ишакәым дихцәажәоит, ма Абиблиа дахыччоит. Уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы ауаҩы хаала аҭак иаҳҭарц азы Иегова иԥшьоу адоуҳаи аҟәыӷареи ҳаиҭарц ҳиҳәароуп. Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи, ԥыҭрак ашьҭахь ҳхымҩаԥгашьа еиҳа еиӷьзар алшон ҳәа ҳгәы иаанагазар? Усҟан дырҩегь Анцәа ҳиҳәароуп, насгьы даҽазны еиҳа еиӷьны ҳхы мҩаԥаҳгар шҳалшо ҳазхәыцроуп. Ус ҟаҳҵар, Иегова иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭоит, ҳемоциақәа аконтроль рзуны, аҟәымшәышәра аарԥшра ҳалшарц азы.

7. Избан абиблиатә жәеинраалақәа ҿырҳәала рҵара зхәарҭоу? (Ажәамаанақәа 15:1, 18).

7 Аха ҳабз аанкылара анаҳзымариамгьы ыҟоуп. Усҟан абиблиатә жәеинраалақәа ҳацхраар рылшоит. Анцәа идоуҳа урҭ ҳгәаланаршәоит (Иоанн 14:26). Иаҳҳәап, ашәҟәы Ажәамаанақәа аҿы зыхә ҳараку алабжьарақәа рацәаны иануп. Урҭ алабжьарақәа ҳарзыӡырҩлар, еиҳа ҳҟәымшәышәхоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 15:1, 18.) Абиблиа иахәҭаку уи ашәҟәы иара убас иҳаилнаркаауеит аҭагылазаашьа аныцәгьоугьы аҭынчра аарԥшра шаҟа ихадоу (Ажәам. 10:19; 17:27; 21:23; 25:15).

АҞӘЫШРА АҞӘЫМШӘЫШӘРА ААРԤШРА ИШҲАЦХРААУА

8. Избан ауаҩы азҵаара зҳаиҭаз еилаҳкаар зхадоу?

8 Аҟәымшәышәра ааҳарԥшларц азы аҟәышра ҳалазароуп (Ажәам. 19:11). Аҟәышра злоу ауаҩы ихаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа анирҭо, алкаа аҟаҵара дахыццакӡом. Ауаҩы ииҳәо ма иқәиргыло азҵаарақәа аисберг ақәцәа иаҩызоуп, уи абжеиҳара аӡы аҵаҟа иҵәахуп. Ҳара ауаҩы азҵаара зҳаиҭаз ҳзымдыруазар алшоит. Фактқәак ҳзымдыруазар? Убри аҟынтә зны ауаҩы азҵаара зықәиргылаз еилкаатәуп, нас ауп аҭак аниҭатәу (Ажәам. 16:23).

9. Ишԥааирԥши Гедеон аҟәышреи аҟәымшәышәреи ефремаа данрацәажәоз?

9 Иаҳгәалаҳаршәап Гедеон ефремаа аҭак шриҭоз. Дара ргәы ԥжәаны иарҳәеит Израиль аӷацәа рабашьра ишцатәу иаразнак изҳаумҳәеи ҳәа. Аха избан уи дара ргәы зыԥнажәаз? Иҟалап дара гәаазар. Гедеон аҟәышра ааирԥшит. Иара аилкаара аарԥшны, урҭ рцәаныррақәа дрызхәыцны, хаала аҭак риҭеит. Гедеон аҟәымшәышәра ахьааирԥшыз абзоурала дара рыҽдырҭынчит (Аӡб. 8:1—3).

10. Иҳацхраауеи зыгәра ҳго иашаӡам ҳәа зҳәо ауаа хаала аҭак рыҭара? (1 Пиотр 3:15).

10 Иҟаҳҵар ҳалшозеи аус ҳацызуа ма аҵара ҳацызҵо аӡәы, абиблиатә нормақәа рыла узынхои ҳәа дҳазҵаауазар? Ҳара уи игәаанагара пату ақәҵаны зыгәра ҳго изеиҭаҳҳәоит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:15.) Иара ҳхаҵара ицәымӷуп ҳәа ма акритика ҳзиуеит ҳәа ахәыцра аҭыԥан, иҳаиҭаз азҵаара игәы иҵхо аилкаара ишҳацхраауа ҳазхәыцыр бзиоуп. Ауаҩы азҵаара зҳаиҭазаалакгьы, ҳара еснагь хаала, насгьы патуқәҵарала аҭак иаҳҭалар ҳҭахуп. Ҳҭак ауаҩы игәаанагара аԥсахра игәазҭанаҵар алшоит. Ауаҩы азҵаара зҳаиҭо аҵәы ҳалихырц азоуп ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, ма ихжәаны дҳацәажәошәа ҳбозаргьы, хықәкыс иҳамоу аҟәымшәышәра аарԥшра ауп (Рим. 12:17).

Ауаҩы имширахь ааԥхьара зшәиҭаз шәазхәыц. Уи патуқәҵарала аҭак иҭара ишәыцхраауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)

11, 12. а) Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи ицәгьоу зҵаарак аҭак ҟаҳҵаанӡа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Ишԥаҳацхраар алшо аӡәы иҳаиҭаз азҵаара аицәажәара бзиа алагара? Иаажәга аҿырԥштәы.

11 Аус зцаҳуа ауаҩы Иегова ишаҳаҭцәа амширақәа зазгәарымҭои ҳәа дшәазҵаауазар, абри шәазхәыц: ҳгәы арҿыхара азин ҳамамшәа игәы иаанагозар? Мамзаргьы амширақәа ахьазгәаҳамҭо аусуҩцәа рыбжьара аидгылара иаԥырхагахар ҳәа дшәозар? Ишԥаҳалшо игәы ҳарҭынчыр? Ҳара иаҳҳәар ҳалшоит аус рыцызуа дахьрызхәыцуа ахә ҳаракны ишаҳшьо, насгьы аусураҿы аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазарц ҳаргьы ишаҳҭаху. Убасҟан ауаҩы игәы рҭынчны дҳацәажәар ауеит. Уи алшара ҳнаҭоит Абиблиаҿы амширақәа ирызкны иану изеиҭаҳәара.

12 Ҳара уи аҩыза азнеишьа ҳхы иаҳархәар ҳалшоит ауаа имариам егьырҭ азҵаарақәа анышьҭырхуагьы. Иаҳҳәап, аҵара ҳацызҵо аӡәы Иегова ишаҳаҭцәа агомосексуалистцәа ишырзыҟоу иашаӡам ҳәа ҳаиҳәоит. Избан иара ус зиҳәо? Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны ииашам агәаанагара ахьимоу азы аума? Мамзаргьы иҩызцәа ма иуацәа рҟынтә аӡәы дахьгомосексуалисту азы акәзар? Мамзаргьы ҳара урҭ ҳцәымӷуп ҳәа игәы иаанагозар? Иҟалап иара агәра иргатәызар ҳара ауаа зегьы бзиа ишаҳбо, насгьы рхатә алхра пату шақәаҳҵо (1 Пиотр 2:17) b. Уи алшара ҳнаҭар ауеит абиблиатә нормақәа анасыԥ аиура ишҳацхраауа изеиҭаҳәара.

13. Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу, аӡәы Анцәа дахьхаҳҵо азы даҳхыччозар?

13 Аӡәы ихатә гәаанагара ада уаҳа акы иаҳар иҭахымзар, зыгәра иго ҳдыруеит ҳәа иаразнак ҳгәы иаанамгароуп (Тит 3:2). Иаҳҳәап, аҵара ҳацызҵо аӡәы Анцәа дшыҟоу агәра агара хшыҩдароуп ҳәа ҳаиҳәоит. Иаанагома уи иара аеволиуциа агәра игоит, насгьы уи атеориа бзианы идыруеит ҳәа? Иара егьырҭ рҟынтә иаҳаз акәзар ауеит еиҭеиҳәо. Дышиашам ала ашьақәырӷәӷәарақәа раагара аҭыԥан, дзызхәыцша аматериал идыжәгал. Иаҳҳәап, асаит jw.org аҿы Анцәа зегьы шишаз иазкны иану ишәырба, ма асаит ахь азхьарԥш изышәышьҭ. Уи ашьҭахь иара ҳсаит аҿы дзыԥхьаз ма иибаз далацәажәар иҭаххар ауеит. Ҳара патуқәҵарала ҳахьизыҟоу Абиблиа ахь аинтерес изцәырнагар алшоит.

14. Ихы ишԥаирхәеи Нилл ҳсаит аҵара ицызҵоз ҷкәынак Иегова ишаҳаҭцәа рганахь ала имаз агәаанагара аԥсахра дицхраарц азы?

14 Нилл зыхьӡу ҷкәынак ҳсаит ибзианы ихы иаирхәоит. Уи Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны шьоукы ирҳәо шиашам егьырҭ реилыркаара ицхраауеит. Иара иҳәоит: «Аҵара сыцызҵо ҷкәынак дааҟәымҵӡакәа исеиҳәон, анаукеи афактқәеи рыгәра агара аҭыԥан, алакәқәа рыгәра угоит ҳәа». Уи аҷкәын Нилл зыгәра иго аҳәаха ииҭомызт аҟынтә, иара ҳсаит jw.org аҿы иҟоу «Анаукеи Абиблиеи» захьӡу аҟәша иирбеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Нилл еиликааит уи аҷкәын асаит дышҭалоз, избанзар аԥсҭазаара шыҟалаз иазкыз азҵаарақәа еиҳа игәарԥханы дырзыӡырҩуа далагеит. Шәаргьы уи аҩыза азнеишьа шәхы иашәырхәар, уи алҵшәа бзиа аанагар ауеит.

ҬААЦӘАНЫЛА ШӘҼАЗЫҞАШӘҴАЛА

15. Иддырҵалар шԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа рхаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рызҭо ахаареи ақьиареи аарԥшны аҭак рыҭашьа?

15 Иқәыԥшу ақьырсианцәа ашкол аҿы рхаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рырҭалар алшоит. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа ататареи ақьиареи аарԥшны аҭак аҟаҵашьа ддырҵалар? (Иак. 3:13). Ҭаацәарақәак аҭаацәаратә мҵахырхәара аан рхәыҷқәа зықәшәар алшо аҭагылазаашьақәа рхаҿы иааганы рҽырзыҟарҵоит. Дара ашкол аҿы ицәырҵыр алшо атемақәа ирылацәажәоит, насгьы хаалеи патуқәҵаралеи урҭ ишрылацәажәатәу ддырбоит. (Шәахәаԥш арамка « Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан шәҽазыҟашәҵала».)

16, 17. Ирыцхраар шԥалшо иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы рҽахьазыҟарҵо?

16 Ус еиԥш иҟоу аҽазыҟаҵарақәа раан ахәыҷқәа зыгәра рго егьырҭ рзеиҭаҳәашьа рҵоит. Убас дара Абиблиа иану агәра агара ишаԥсоу рхаҭа еилыркаауеит. Асаит jw.org аҿы «Аҿар рызҵаарақәа» захьӡу астатиақәа рҟны ахбыџқәа рзы аусуратә схемақәа аагоуп. Урҭ хықәкыс ирымоу иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара арӷәӷәареи еиуеиԥшым азҵаарақәа рҭак рхатә ажәақәа рыла аҟаҵашьа дырҵареи ауп. Аҭаацәа ҭаацәаныла урҭ астатиақәа анҭырҵаауа, даргьы ахәыҷқәагьы рхаҵара хаалеи патуқәҵаралеи егьырҭ рзеиҭаҳәашьа рҵоит.

17 Ме́тьиу иҳәоит ҭаацәаныла рҽахьазыҟарҵо шицхраауа. Иҭаацәеи иареи ашкол аҿы ицәырҵыр алшо азҵаарақәа лассы-лассы иҭырҵаауеит. Иара иҳәоит: «Ҳара ицәырҵыр алшо аҭагылазаашьақәа ҳхаҿы иааганы аҭҵаара мҩаԥаҳгоит, насгьы ҳҽазыҟаҳҵоит. Сара зыгәра зго еилыкка ианыздыруа, еиҳа сгәы ӷәӷәахоит, хаала аҭак аҟаҵарагьы еиҳа исзымариахоит».

18. Ҳгәы зызҭарҵозеи Колоссаа рахь 4:6 иану ажәақәа?

18 Ҳәарада, ҳзацәажәо ауаҩы зыгәра ҳго иеилҳаркаарц азы, еилыкка иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа мацара азымхар алшоит. Аха апатуқәҵареи ақьиареи амч ӷәӷәа рымоуп. (Шәаԥхьа Колоссаа рахь 4:6.) Аиҿцәажәара ампыл ахәмарра иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ҳара ампыл ҭынч иҳаршәыр ауеит, мамзаргьы ишҳамчу ауаҩы игәыдаҳҵар ҳалшоит. Ҳара ампыл ҭынч ианҳаршәуа, ҳазцыхәмаруа ауаҩы уи акра еиҳа изымариахоит, ахәмаррагьы аангылаӡом. Убас еиԥшҵәҟьа, иаҳҳәо апатуқәҵареи ақьиареи аарԥшны иаҳҳәозар, ауаа ҳзыӡырҩра еиҳа ирзымариахоит, насгьы ҳажәа ҿахырҵәалаӡом. Ҳәарада, аӡәы ажәа ҳамеикырц, ма ҳхаҵара дахыччарц иҭахызар, иацәажәара ҳааҟәыҵны ҳаиԥырҵны ҳцар ҳалшоит (Ажәам. 26:4). Аха ус еиԥш иҟоу ауаа рацәаҩӡам. Аӡырҩра иазхиоу еиҳа ирацәаҩызар ҟалап.

19. Избан ҳхаҵара анаҳахьчо аҟәымшәышәра ааҳарԥшлар зҳахәҭоу?

19 Еилкаауп, аҟәымшәышәра ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Ажәа шәымазкуа, ма ишәықәнагаӡамкәа акритика шәзызуа ҭынч аҭак ишәҭарц азы Иегова шәиҳәала. Ишәхашәмыршҭлан, аҟәымшәышәра шәылазар, шәзацәажәо ауаҩи шәареи шәгәаанагарақәа еиқәымшәаргьы, уи ажәеимакрахь шәнанагартә алшәыршаӡом. Хаалеи патуқәҵаралеи аҭак ҟашәҵалар, ишәзыӡырҩуа ауаа рҟынтә шьоукы Абиблиа аганахь ала ирымоу агәаанагара рыԥсахыр ауеит. «Еснагь шәазхиаз» зыгәра жәго «аӡбахә иазҵаауа аҭак [ры]ҭара», насгьы «уи хаала, ҳаҭырқәҵарала иҟашәҵала» (1 Пиотр 3:15). Шәааи аҟәымшәышәра ҳалаҳааӡалап, избанзар уи иӷәӷәоу уаҩны ҳҟанаҵоит!

АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт

a Ари астатиаҿы ҳара еилаҳкаауеит аӡәы ҳхаҵара иазкны азҵаарақәа анҳаиҭо, ма уи аҵәы аналихуа, ататареи ақьиареи аарԥшны аҭак иҭара иҳацхраауа алабжьарақәа.

b Еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит 2016 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» № 4 аҿы иаагоу астатиа «Что в Библии говорится о гомосексуализме?» аҟны.

c Ихәарҭоу алабжьарақәа шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы иҟоу астатиақәа «Аҿар рызҵаарақәа», насгьы «Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа» рҿы.