Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Аинформациа шыԥшаатәу

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Аинформациа шыԥшаатәу

Ахәыҷқәа рзы адҵақәа

Анацәеи абацәеи аҭакԥхықәра ду рыдуп — рхәыҷқәа Иегова игәыбылра ддыркыроуп (Еф. 6:4). Анцәа иорганизациа аҭаацәа ирыцхраарц азы астатиақәеи, авидеонҵамҭақәеи, ашәақәеи рацәаны иҭнажьуеит. Ишԥашәылшо шәхәыҷқәа рааӡараҿы урҭ шәхы иашәырхәар?

  • Асаит jw.org шәҭал. Уаҟа ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рзы ирхиоу аматериалқәа зегьы шәыԥшаауеит, авидеонҵамҭақәеи ишәкьыԥхьыр алшо еиуеиԥшым адҵақәеи уахь иналаҵаны a. Урҭ шәыԥшаарц азы аԥшааратә цәаҳәаҿы ианышәҵа ажәа «ахәыҷқәа» мамзаргьы «ахбыџқәа».

  • Иалшәх шәхәыҷы изы еиҳа еиӷьу. Ихәарҭоу аинформациа шәыԥшаар шәылшоит аҟәша «Дети» аҿы иаагоу «Задания для семейного поклонения» аҟны.

  • Шәхәыҷы имацара адҵақәа дрыдшәмыртәалалан. Хықәкыс ишәымоу ахәыҷы игәы мҿыӷьларц акәӡам. Шәхәыҷи шәареи адҵақәа еицыҟашәҵала, убас ала Иегова игәыбылра ишәыркла.

a Уажәы апрограмма JW Library® аҿы ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рзы авидеонҵамҭақәа зегьы ыҟоуп, иара убас ишәкьыԥхьыр алшо дҵақәакгьы.