Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 38

Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, изеиԥшрахозеи шәыԥсҭазаара?

Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, изеиԥшрахозеи шәыԥсҭазаара?

«Уеилкаара уахьчалоит» (АЖӘАМ. 2:11).

АШӘА 135 Иегова гәыкала уааиԥхьоит: «Уҟәышыз, сԥа»

АХҲӘАА a

1. Иарбан имариамыз дҵоу Иоаси, Уззиеи, Иосиеи ироуз?

 ШӘХАҾЫ иаажәг Анцәа ижәлар раҳ шәакәны шәҟалазшәа, аха макьана зынӡа шәхәыҷуп! Шәхы ишԥашәырхәарыз ишәоуз амчра? Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Иудеиа аҳцәа шьоукы аҳра ҭыԥ анроу зынӡа иқәыԥшын. Иаҳҳәап, Иоас 7 шықәса ракәын ихыҵуаз, Уззиа — 16 шықәса, Иосиа — 8 шықәса. Шәхаҿы иаажәг ирыдлаз аҭакԥхықәра шаҟа идууз. Уи адҵа шымариамызгьы, рааигәара есымша иҟан ауадаҩрақәа рыӡбареи ҟәыӷарала ахымҩаԥгареи ирыцхраауаз ауаа.

2. Избан Иоаси, Уззиеи, Иосиеи рыӡбахә еиӷьны еилаҳкаар зыбзиоу?

2 Ҳара ҳаҳцәаӡам, насгьы ҳаҳкәажәцәаӡам, аха Иоаси, Уззиеи, Иосиеи ирҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп. Урҭ ииашаз еиԥш ииашамызгьы аӡбарақәа рыдыркылон. Урҭ аҳцәа еиӷьны ҳрабадырыр, еилаҳкаауеит аҩызцәа бзиақәа алаҳхлар, ахынраалара ҳалазар, насгьы есымша Иегова игәаанагара ҳазхәыцлар зҳахәҭоу.

АҨЫЗЦӘА БЗИАҚӘА АЛШӘХЛА

Аҩызцәа бзиақәа Иоас ирҭоз алабжьарақәа хәарҭа изааргон. Убас еиԥш иҟоу аҩызцәа шәырҳала — убасҟан ахаан акгьы шәацәшәалаӡом! (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3, 7.) c

3. Иарбан нырроу аԥхьаԥшьаҩы Иодаи аҳ Иоас ииҭаз?

3 Иоас аҿырԥш бзиа ахьҳаиҭаз. Иоас данқәыԥшыз ииашаны ихы мҩаԥигон. Данхәыҷӡаз данеиҭымха, аԥхьаԥшьаҩы Иодаи имҩақәҵарақәа дрықәныҟәон. Уи аԥшьаҩы Иоас иԥа гәакьа иеиԥш диааӡон. Иодаи ибзоурала Иоас иҟәыӷоу аӡбара идикылеит — Иегова имаҵ аура далагеит, ажәларгьы уи аҿы дрыцхраауан. Иара Иегова иныҳәарҭа аиҭарҿыцра иазкыз аусқәагьы еиҿикааит (2 Аш. 24:1, 2, 4, 13, 14).

4. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго Иегова иԥҟарақәа ҳанрықәныҟәо? (Ажәамаанақәа 2:1, 10—12).

4 Шәҭаацәа Иегова бзиа дыжәбаларц, насгьы инормақәа рыла шәынхаларц шәдырҵозар, уи зыхә ҳараку ҳамҭак еиԥш шәазыҟаз. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:1, 10—12.) Аҭаацәа рхәыҷқәа рааӡашьаҿы рызнеишьақәа еиԥшымзар ауеит. Абар Катиа лаб ииашоу аӡбарақәа рыдкылара дышлыцхраауаз. Есышьыжь, ашкол ахь дцаанӡа иара амш иазалхыз ажәеинраала лыцеилиргон. Лара илҳәоит: «Ашкол аҿы ауадаҩрақәа ансызцәырҵуаз, урҭ аицәажәарақәа сгәалашәон. Уи сыцхраауан ииашаны ахымҩаԥгара». Аха шәҭаацәа ишьақәдыргыло аԥҟарақәа Абиблиа шьаҭас ирымазаргьы, иџьбарацәоуп ҳәа шәгәы иаанагозар? Ишәыцхраар алшозеи урҭ рзыӡырҩра? Настиа зыхьӡу аиаҳәшьа илгәалашәоит, лҭаацәа ԥҟарақәак зышьақәдыргылаз лзеиҭарҳәарц азы раамҭа ишамеигӡоз. Лара илҳәоит: «Уи абзоурала сара еилыскааит сани саби ак аҟаҵара азин ансырымҭоз, уи дара зегьы аконтроль арҭалар ахьырҭаху азы акәымкәа, срыхьчар ахьырҭаху азы шакәыз».

5. Иҟашәҵалар шәылшозеи шәҭаацәеи Иеговеи шәыргәырӷьаларц азы? (Ажәамаанақәа 22:6; 23:15, 24, 25).

5 Шәҭаацәа шәааӡараҿы абиблиатә принципқәа рхы иадырхәоит. Шәара урҭ ишәырҭо алабжьарақәа шәырзыӡырҩлар, даараӡа ишәыргәырӷьалоит! Аха еиҳагьы ихадоу, шәхымҩаԥгашьа Анцәа даргәырӷьалоит, насгьы иареи шәареи шәеиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:6; 23:15, 24, 25.) Шәгәазҭанамҵаӡои уи зегьы иқәыԥшыз Иоас иҿыԥшра?

6. Ззыӡырҩра далагада Иоас, насгьы дабананагеи уи? (2 Ашықәсынҵа 24:17, 18).

6 Иоас иҽеимыз аҿырԥшы ахьҳаиҭаз. Иодаи данԥсы ашьҭахь Иоас иҽеимыз аҩызцәа шьҭихит. (Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 24:17, 18.) Иара Иегова бзиа дзымбоз Иудеиа аҭауадцәа дырзыӡырҩуа далагеит. Урҭ иара изы ҩызцәа бзиақәамызт, рымԥан дықәымларгьы еиҳа изеиӷьын (Ажәам. 1:10). Аха иара урҭ ирҭоз алабжьарақәа дырзыӡырҩуан. Иоас иуа, Захариа, Иоас иҽириашарц аниеиҳәа, иара Захариа дыршьырц адҵа ҟаиҵеит (2 Аш. 24:20, 21; Матф. 23:35). Шаҟа иҿаасҭоузеи, иагьхшыҩдароузеи! Иоас ибзианы даауан, аха нас Иегова даанижьит, ауаҩгьы дишьит. Аҵыхәтәаны ихаҭагьы имаҵуҩцәа дыршьит (2 Аш. 24:22—25). Иоас Иеговеи уи бзиа дызбоз ауааи анаҩсгьы дырзыӡырҩуазҭгьы, иԥсҭазаара даҽакала иҟалар алшон. Ишәнарҵозеи уи шәара?

7. Изылшода ҩыза бзианы шәзыҟалара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Иҟашәҵар шәылшозеи Иоас ихьыз шәмыхьырц азы? Анырра бзиа шәызҭо аҩызцәа алшәхла. Уи Иегова бзиа дызбо, насгьы игәы изырхьыр зҭахым роуп. Шәҩызцәа шәықәлацәамзаргьы алшоит. Ишәхашәмыршҭлан, Иоас иҩыза Иодаи иаасҭа акырӡа дшеиҵбыз. Шәҩызцәа зеиԥшроу еилышәкаарц азы шәхы шәазҵаа: «Исыцхраауама уи аиҩызара Иегова иахь схаҵара арӷәӷәара? Рҽазыршәома сҩызцәа Иегова изыӡырҩра, насгьы саргьы ус ҟасҵаларц сгәазҭарҵома? Иргәаԥхома дара Иегова иӡбахә аҳәареи адоуҳатә темақәа рылацәажәареи? Иубарҭоума дара Анцәа изакәанқәа пату шрықәырҵо? Урҭ исарҳәо исаҳарц исҭаху мацара аума? Мамзаргьы ианаҭаху сахьиашам аҳәара иацәымшәоу?» (Ажәам. 27:5, 6, 17). Ишыҟоу иаҳҳәап: шәҩызцәа Иегова бзиа дрымбозар, дареи шәареи ишәзеилоу ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аха шәҩызцәа Иегова бзиа дырбозар, урҭ ааншәмыжьын. Урҭ шәыманаҵы, акы шәацәымшәалар шәылшоит! (Ажәам. 13:20).

8. Иарбан зҵаарақәоу шәхы иашәҭар шәыхәҭоу асоциалтә каҭақәа шәхы иашәырхәозар?

8 Асоциалтә каҭақәа ҳҩызцәеи ҳауацәеи ҳареи аимадара ҳабжьазарц иҳацхраауеит. Аха аӡәырҩы ауаа урҭ рхы изадырхәо иҽхәаларц азы ауп. Дара иаархәо, насгьы изҿу ҳзырбо апатреҭқәеи авидеоқәеи ҭыхны иқәдыргылоит. Шәара асоциалтә каҭақәа шәхы иашәырхәозар, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа шәхы иашәҭ: «Избан сара ари апатреҭ ма авидео зықәсыргыло? Сҩызцәа ибзиоу акы рыцеиҩысшар ахьысҭаху азы аума, ма акы салаҽхәарц азы акәу? Ишԥаныруеи схәыцрақәеи, сцәажәашьеи, схымҩаԥгашьеи асоциалтә каҭақәа рҿы сызхәаԥшуа?» Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуаз аиашьа Неитан Норр зны иҳәахьан: «Ауаа ргәы аҟаҵара шәашьҭамлан. Уи егьа шәҽазышәшәаларгьы, аӡәгьы игәы шәзыҟаҵаӡом. Иегова игәы аҟаҵара шәашьҭаз, убасҟан бзиа дызбо зегьы ргәы ҟашәҵоит».

АХЫНРААЛАРА ШӘМЫРӠЫН

9. Иарбан еихьӡарақәоу Уззиа имаз Иегова ицхыраарала? (2 Ашықәсынҵа 26:1—5).

9 Уззиа аҿырԥш бзиа ахьҳаиҭаз. Уззиа данқәыԥшыз ахынраалара илан, насгьы Анцәа дицәшәон. Иара 68 шықәса ниҵит. Иегова уи аҳ иԥсҭазаара абжеиҳарак дизылԥхон. (Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 26:1—5.) Уззиа ирацәаны аиааирақәа игеит, насгьы Иерусалим ахьчаразы иҟаиҵаз рацәоуп (2 Аш. 26:6—15). Анцәа ицхыраарала иара ақәҿиара иман. Уи зегь даназхәыцуаз Уззиа игәы ҭгәырӷьаауазҭгьы ҟаларын (Еккл. 3:12, 13).

10. Ихьзеи Уззиа?

10 Уззиа иҽеим аҿырԥшы ахьҳаиҭаз. Аҳ Уззиа егьырҭ адҵақәа рыҭара дашьцылеит. Иҟалап убри азы акәзар иара ииҭаху ҟаиҵалар илшоит ҳәа ахәыцра дзалагаз. Зны Уззиа ихы дақәгәыӷцәеит. Иара афимиам иблырц азы Иегова иныҳәарҭа дыҩналеит. Аҳцәа уи аҩыза азин рымаӡамызт (2 Аш. 26:16—18). Аԥхьаԥшьаҩы Азариа Уззиа дааникыларц даналага, Уззиа уи игәы изыԥжәеит. Уаанӡа Уззиа гәыкала Анцәа имаҵ иуан, аха уажәы ихымҩаԥгашьала зегь бжьихит, уи азы Иегова ацәеилабаара иирхьит (2 Аш. 26:19—21). Иара ахынраалара шилаз даанхазҭгьы иԥсҭазаара даҽакала иҟалон!

Ҳаихьӡарақәа рхыҽхәара аҭыԥан аҽхәыԥхьыӡ Иегова иахь иҳархалароуп. (Шәахәаԥш абзац 11.) d

11. Иҳацхраауазеи ахынраалара злоу уаҩны аанхара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Уззиа даныӷәӷәаха, насгьы ақәҿиара аниоу, уи зегь зыбзоурахаз Иегова шиакәыз ихашҭит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳаԥсҭазаараҿгьы ҳмаҵзураҿгьы бзиарас иҳамоу зегьы Иегова шиакәу иҳазҭаз. Ҳақәҿиарақәа рхыҽхәара аҭыԥан, аҽхәаԥхьыӡ Иегова иахь иҳархалароуп (1 Кор. 4:7) b. Ҳара ахынраалара аарԥшны еилаҳкаауазароуп ҳшынаӡам, агхақәагьы шҳахьуа. 60 шықәса ирҭысхьоу иашьак иҳәоит: «Сара сандыриашо сымгәааларц, насгьы сгәы касмыжьларц азы схы аус адызулеит. Зны-зынла гаӡарақәакгьы ҟасҵоит. Сара сандыриашо алабжьарақәа сыдкыланы ԥхьаҟа сцоит. Избанзар сара еилыскаауеит уи аҽеиӷьтәра ишсыцхраауа». Ҳара Иегова ҳаизыӡырҩуазар, насгьы ҳхы ҳараҳамкуазар, анасыԥҵәҟьа ҳамазаауеит (Ажәам. 22:4).

ЕСНАГЬ ИЕГОВА ИГӘААНАГАРА ШӘАЗХӘЫЦЛА

12. Ишԥааирԥши Иосиа данқәыԥшыз Иегова имаҵ аура шиҭахыз? (2 Ашықәсынҵа 34:1—3).

12 Иосиа аҿырԥш бзиа ахьҳаиҭаз. Иосиа 16 шықәса анихыҵуаз Иегова еиӷьны деиликаарц, игәы иахәогьы ҟаиҵаларц иҭаххеит. Аха иқәыԥшыз аҳ иԥсҭазаара хьаада-баада имҩасӡомызт. Ажәлар реиҳараҩык амцнцәахәқәа ирымҵахырхәон. Аидолқәа рымҵахырхәара аҟәихырц азы, иара аамҭа мгаӡакәа ак ҟаиҵар акәын. Иосиа зеиԥшыҟамыз агәымшәара ааирԥшит. Иара 20 шықәса ихымҵӡацызт атәыла аидолқәа рҟынтә арыцқьара даналага. (Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 34:1—3.)

13. Аҽаԥсахыр шԥалшо шәыԥсҭазаара Иегова шәҽизышәкыр?

13 Иқәыԥшу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, шәара Иосиа шәиҿыԥшны Иегова еиӷьны деилышәкаалар шәылшоит. Убасҟан шәыԥсҭазаара Анцәа изышәкырц шәҭаххоит. Ишԥаԥсахуеи уи шәыԥсҭазаара? Лу́ка зыхьӡу аиашьа 14 шықәса анихыҵуаз аӡы иҽӡааихит. Иара иҳәеит: «Иахьарнахыс Иегова имаҵ аура сара сзы зегь раасҭа ихадазаауеит. Сара исҭахуп есымша Иегова дсыргәырӷьалар» (Марк 12:30). Шәаргьы убас еиԥш иҟоу ахықәкы ықәшәыргылар, ԥхьаҟатәи шәыԥсҭазааразы шәгәы ҭынчзар алшоит!

14. Ишԥаиҿыԥшуеи ҳҿар аҳ Иосиа?

14 Иарбан уадаҩрақәоу ҳҿар зықәшәо? 12 шықәса анихыҵуаз аӡы зыҽӡаазхыз Ио́хан ашкол аҿы дзықәшәо еиҭеиҳәоит. Аҵара ицызҵо аелектронтә ҭаҭын (авеип) иахоит, уи иаргьы есымша идыргалоит. Ицхраауеи Иохан уи мап ацәкра? Иара игәалаиршәоит авеипинг игәабзиара ишаԥырхагахо, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәагьы шыбжьнахуа. 14 шықәса анылхыҵуаз аӡы зыҽӡаазхыз Ре́ичелгьы ашкол аҿы ауадаҩрақәа дрықәшәоит. Лара урҭ рыхгара илыцхраауа лҳәоит: «Сара сзықәшәо аҭагылазаашьақәа Абиблиа аҟынтә еилыскааз ишадҳәалоу сазхәыцуеит. Иаҳҳәап, аҭоурых аурок аҿы ҳазхысуа атема исгәаланаршәар алшоит абиблиатә хҭыск ма ԥааимбаражәак. Аӡәы саниацәажәо лассы-лассы сазхәыцуеит иарбан библиатә жәеинраалоу исырбар сылшо». Зыхә ҳараку ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, шәара шәзықәшәо ауадаҩрақәа Иосиа дзықәшәоз ауадаҩрақәа иреиԥшымзар алшоит. Аха шәаргьы ишәылшоит иара иеиԥш шәҟәыӷазар, насгьы Анцәа гәыкала шәизыҟазар. Уажәы ауадаҩрақәа шәахьыриааиуа ианшәызҳалак шәыԥсҭазаараҿы ишәыхәоит.

15. Ицхраауази Иосиа гәыкала Иегова имаҵ аура? (2 Ашықәсынҵа 34:14, 18—21).

15 Аҳ Иосиа 26 шықәса анихыҵуаз аныҳәарҭа аиҭарҿыцра далагеит. Аусурақәа раан Иегова Моисеи ила ижәлар ириҭаз азакәан зныз ашәҟәы рыԥшааит. Аҳ азакәан ианыз ажәақәа аниаҳа, урҭ иаразнак рықәныҟәара далагеит. (Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 34:14, 18—21.) Ишәҭахума шәара Абиблиа есыҽны шәаԥхьалар? Абиблиа есыҽны аԥхьара шәалагахьазар, ишԥацо шәусқәа? Уи аԥхьара шәгәаԥхома? Ишәымоума хаҭала шәара ишәыцхраауа ажәеинраалақәа џьара ианҵаны? Хыхь зажәақәа аагаз Лука игәаԥхо азхәыцрақәа атетрад ианиҵоит. Ишәылшома шәаргьы ус ҟашәҵалар? Уи ишәгәаԥхо абиблиатә жәеинраалақәеи азхәыцрақәеи шәхамышҭыртә ишәыцхраауеит. Абиблиа еиҳа еиӷьны еилышәкаацыԥхьаӡа, насгьы уи бзиа ижәбацыԥхьаӡа, Иегова имаҵ аура еиҳагьы ишәҭаххоит. Анцәа Иажәа Иосиа ииашаны ахымҩаԥгара игәы шазҭанаҵаз еиԥш, шәаргьы уи шәгәазҭанаҵоит.

16. Избан Иосиа агха ӷәӷәа зихьыз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?

16 Иосиа иҽеим аҿырԥшы ахьҳаиҭаз. Иосиа 39 шықәса раҟара анихыҵуаз дҭазырхаз агха ҟаиҵеит. Иара Иегова игәаанагара еилымкааӡакәа ихаҭа ииӡбаз ҟаиҵеит (2 Аш. 35:20—25). Ари ҳара иаҳнарҵо рацәоуп. Шаҟа шықәса ҳхыҵуазаалакгьы, насгьы Абиблиа аҵара ҳаҿуижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы, есымша Иегова игәаанагара аилкаара ҳашьҭазароуп. Уи азы Анцәа анапхгара ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп, Иажәа ҭаҳҵаалароуп, насгьы аԥышәа змоу ақьырсианцәа рҿы алабжьара ҳашьҭазароуп. Убасҟан ҳара агха ӷәӷәақәа ҳҽырцәыҳахьчоит, насыԥгьы ҳамазаауеит (Иак. 1:25).

ИҚӘЫԤШУ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ, НАСЫԤЛА ИҬӘУ АԤСҬАЗААРА АЛШӘХ!

17. Иаҳнарҵозеи хҩык иудеиатәи аҳцәа рҭоурых?

17 Ақәыԥшра — алшарақәа рацәаны ианумоу аамҭоуп. Иоаси, Уззиеи, Иосиеи рҿырԥштәқәа иаҳдырбоит арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдыркылалар, насгьы Иегова ддыргәырӷьалар шрылшо. Ааи, хҩык урҭ аҳцәа зны-зынла ииашаӡамкәа рхы мҩаԥыргон, уи алҵшәа бааԥсқәа рзаанагеит. Аха ҳара урҭ рыгхақәа ҳҽырцәыхьчаны рҿырԥш бзиа ҳақәныҟәалар, зеиԥшыҟам аԥсҭазаара ҳауеит.

Иқәыԥшыз Давид Иеговеи иареи рыбжьара аиҩызара еизирҳаит, уи иԥсҭазаараҿы ақәҿиара изаанагеит. (Шәахәаԥш абзац 18.)

18. Иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу ишәзырбо шәыԥсҭазаараҿы ақәҿиара шәоур шшәылшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

18 Абиблиаҿы Анцәа гәыкала изыҟаз иқәыԥшыз егьырҭ имаҵзуҩцәагьы рыӡбахә ануп. Урҭ Анцәа изааигәан, аԥсҭазаара бзиагьы нырҵит. Урҭ руаӡәк Давид иакәын. Иара данқәыԥшыз инаркны Иегова диҩызахахьан. Ԥыҭрак ашьҭахь Анцәа гәыкала изыҟаз аҳ иакәны дҟалеит. Ҳәарада, иара аамҭа-аамҭала агхақәа ҟаиҵон. Аха иааизакны иуҳәозар, Анцәа игәы дақәшәон (1 Аҳ. 3:6; 9:4, 5; 14:8). Шәара Давид иԥсҭазаареи имаҵзуреи еиҳа инарҵауланы иҭышәҵаар, еиҳагьы Иегова имаҵ аура шәҭаххоит. Иара убас шәара ишәылшоит Марк, мамзаргьы Тимофеи рҿырԥшқәа ҭышәҵаар. Шәара еилышәкаауеит дара анқәыԥшыз Иегова имаҵ аура ишалагаз, насгьы рыԥсы ахьынӡаҭаз гәыкала ишизыҟаз. Дара зегьы иреиӷьу аԥсҭазааратә мҩа алырхит!

19. Изеиԥшрахозеи шәыԥсҭазаара?

19 Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәыԥсҭазаара зеиԥшрахо зхьыԥшу уажәы ишәыдышәкыло аӡбарақәа роуп. Шәара шәхы акәымкәа Иегова шәиқәгәыӷуазар, иара шәымҩақәиҵалоит (Ажәам. 20:24). Шәара анасыԥҵәҟьа шәымазаауеит. Ишәхашәмыршҭлан: Иегова иара изы иҟашәҵо зегь ахә ҳаракны ишьоит. Ҳаԥсҭазаара бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб, Иегова, имаҵ аура азкра аасҭа еиӷьу акрыҟоума?!

АШӘА 144 Аҳамҭа улаԥш ахыз!

a Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, Иегова идыруеит ииашаны ахымҩаԥгара зны-зынла ишышәцәыцәгьоу, аха шәеиҩызара арӡра шышәҭахым. Ишәыцхраауазеи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылареи, жәҩантәи Шәаб иргәырӷьареи? Ҳара еилҳаргоит Иудеиа аҳцәаны иҟалаз хҩык аҷкәынцәа рҿырԥштәқәа. Шәазхәыц урҭ ирыдыркылоз аӡбарақәа ишәдырҵар алшо.

b Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иҟоу астатиа «На что ты готов ради популярности в соцсетях?» аҟны иаагоу арамка «Остерегайся скромного хвастовства».

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Доуҳала иӷәӷәоу аиаҳәшьа иқәыԥшу аиаҳәшьа алабжьара бзиа лылҭоит.

d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Аконгресс аҿы аиаҳәшьа аинтервиу лымырхуеит. Асценахь дцәырҵаанӡа Иегова диҳәоит. Апрограмма ашьҭахь аиҳәшьцәа иралҳәоит, Анцәа илиҭаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа шиалҳәо.