АҴАРАЗЫ АСТАТИА 40
Пиотр гәыкала Анцәа имаҵ иуан — уи шәаргьы ишәылшоит!
«Сааныжь, Исықәиҭу, сабоуҭаху, сара агәнаҳа иаҵоу уаҩуп» (ЛУКА 5:8).
АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит
АХҲӘАА a
1. Ииҳәазеи Пиотр џьашьахәыла ирацәаны аԥсыӡ шикыз аниба?
ПИОТР аухантәарак аԥсыӡкра даҿын, аха акгьы изымкӡеит. Уи збаз Иисус Пиотр абас иеиҳәеит: «Аӡиа агәахьы шәнаскьаны, акаҭа ҭашәыжь» (Лука 5:4). Пиотр уи ак алҵып ҳәа дыҟамызт. Аха Иисус дизыӡырҩны, иеиҳәаз ҟаиҵеит. Акаҭақәа убриаҟара иҭәит, аԥсыӡ азымкын, аԥыжәжәара иалагеит! Пиотри егьырҭ аԥсыӡкыҩцәеи рыбла ишабоз аџьашьахәы шыҟалаз анеилыркаа, уи даара иаршанхеит. Нас Пиотр иҳәеит: «Сааныжь, Исықәиҭу, сабоуҭаху, сара агәнаҳа иаҵоу уаҩуп» (Лука 5:6—9). Иҟалап иара Иисус иааигәара аҟазаара даԥсаӡам ҳәа игәы иаанагозҭгьы.
2. Избан Пиотр иҿырԥшы ҳалацәажәар зхәарҭоу?
2 Пиотр «агәнаҳа иаҵоу уаҩуп» ҳәа ихазы ианиҳәа диашан. Абиблиа аҟынтә ҳара иаҳдыруеит, иара зны-зынла ииҳәоз, насгьы иҟаиҵоз ԥыҭрак ашьҭахь дшахьхәуаз. Пиотр иеиԥш зныкыр шәхы жәбахьоума? Иҟалап шәара грак ааншәыжьырц, ма ԥсыҽрак шәаиааирц азы акыраамҭа аџьабаа жәбозар. Ус акәзар, Пиотр иҿырԥшы шәгәы акамыжьра ишәыцхраауеит. Избан уи агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо? Шәазхәыц: Иегова Пиотр игхақәа рыӡбахә Абиблиаҿы ианимҵаргьы ауан, аха ҳара урҭ ҳдыруазар бзиоуп ҳәа иԥхьаӡеит (2 Тим. 3:16, 17). Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Пиотр аграқәа змаз, насгьы ашәара злаз, ҳара иҳаиԥшыз ауаҩ шиакәыз. Ҳара иаҳдыруеит Иегова иара иҟынтә анаӡара дшазыԥшымыз. Уи ҳара ҳҟынтәгьы дазыԥшӡам. Иегова иҭахуп ҳара ҳгәы каҳмыжьларц, насгьы ҳагхақәа имаҵ аура иаҳԥырхагахартә рылҳмыршаларц.
3. Избан ҳгәы каҳмыжьлар зҳахәҭоу?
3 Избан ҳгәы каҳмыжьлар зҳахәҭоу? Избанзар ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы аус адаҳулалар, уи алҵшәа аанамгар ауӡом. Шәазхәыц абри аҩыза аҿырԥштәы. Амузыка азырҳәо ауаҩы шықәсыла иҟазара еиӷьитәлароуп. Уи аамҭа иалагӡаны, иҟалап иара зқьыла ииашам анотақәа аирҳәар. Аха иара дааҟәымҵӡакәа аџьабаа ибалар, иику аинструмент ибзианы арҳәашьа иҵоит. Аха уи ашьҭахьгьы иара зны-зынла агхақәа ихьлар алшоит. Аха амузыка арҳәаҩы игәы каижьӡом. Иара анаҩсгьы иҟазара еиӷьитәуеит. Убас еиԥш ҳаргьы, грак ҳаиааит ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, аамҭа-аамҭала уи ахы ҳнардырлар ауеит. Аха ҳара анаҩсгьы ҳхықәкы анагӡаразы аџьабаа абара ҳаҟәыҵӡом. Ҳара зегьы ԥыҭрак ашьҭахь ҳзыхьхәуа зны-зынла иаҳҳәоит, ма иҟаҳҵоит. Ус шакәугьы, ҳгәы каҳмыжьлар, Иегова аҽеиӷьтәра дҳацхраауеит (1 Пиотр 5:10). Пиотр иԥсҭазаара ҳара ҳзы ҿырԥшуп. Уи агхақәа шыҟаиҵозгьы, Иисус иара иахь аилкаара ааирԥшуан. Уи ахьаҳдыруа ҳгәы камыжьӡакәа, Иегова имаҵ аура иҳацхраауеит.
ПИОТР ИХЬУАЗ АГХАҚӘЕИ ИМАЗ АҚӘҾИАРАҚӘЕИ
4. Лука 5:5—10 иану инақәыршәаны, ихы дышԥахцәажәеи Пиотр, насгьы Иисус Пиотр зыгәра ииргазеи?
4 Абиблиаҿы ианӡам Пиотр «агәнаҳа иаҵоу уаҩуп» ҳәа ихы изазиҳәаз, насгьы иарбан гәнаҳақәоу зыӡбахә имаз. (Шәаԥхьа Лука 5:5—10.) Иҟалап, иара агха ӷәӷәақәа ҟаиҵазар. Иисус ибон Пиотр дышшәоз. Иҟалап, уи зыхҟьоз Пиотр ихы дахьақәымгәыӷуаз акәызҭгьы. Аха Иисус иара убас идыруан Пиотр Анцәа гәыкала дшизыҟоу даанхар шилшоз. Убри аҟынтә аԥхарра аҵаҵаны иҵаҩы абас иеиҳәеит: «Умшәан». Иҳақәиҭу иажәақәа Пиотр иахь агәрагара рныԥшуан. Урҭ ажәақәа Пиотр иԥсҭазаара рыԥсахит. Ԥыҭрак ашьҭахь иашьа Андреии иареи аԥсыӡкра ааныжьны, Мессиа ишьҭанеицәа ракәны иҟалеит. Уи азы Иегова урҭ меигӡарахда дырзылԥхеит (Марк 1:16—18).
5. Дышԥаизылԥхеи Анцәа Пиотр имаз ашәарақәа дырмыхәаԥшӡакәа, Иисус иҵаҩ иакәны дахьыҟалаз азы?
5 Пиотр Иисус иҵаҩ иакәны дахьыҟалаз абзоурала ирацәаны аџьашьахәқәа ибеит. Иара иблала ибеит Иҳақәиҭу ачымазцәа шихәышәтәуаз, ауаа адемонцәа шырхицоз, насгьы иԥсхьаз рыԥсы шҭеиҵоз (Матф. 8:14—17; Марк 5:37, 41, 42) b. Уи адагьы Пиотр Иисус аҳас даныҟало иоураны иҟаз ахьӡ-аԥша збаз дреиуан. Уи абара иара иԥсы ахьынӡаҭаз ихашҭуамызт (Марк 9:1—8; 2 Пиотр 1:16—18). Ааи, Пиотр Иисус иҵаҩ иакәны дҟамлазҭгьы, урҭ аџьашьахәқәа ахаан ибарымызт. Ҳәарада, иара деигәырӷьон имаз ашәареи иԥырхагаз егьырҭ ахәыцрақәеи ари зегьы аиура иԥырхагахартә ахьимуз.
6. Изымариазма Пиотр иԥсыҽрақәа рааныжьра? Иҳаилшәыркаа.
6 Пиотр абриаҟара аџьашьахәқәа шибахьазгьы, зны-зынла агхақәа ихьуан. Абар ҿырԥштәқәак. Иисус абиблиатә ԥааимбаражәақәа наӡарц азы дгәаҟны дыԥсыр шакәыз аниҳәа, Пиотр уи аҩыза ҟалашьа амаӡам ҳәа иҳәеит (Марк 8:31—33). Егьырҭ апостолцәеи иареи ҳауа еиҳада ҳәа зныкымкәа ажәа еимаркуан (Марк 9:33, 34). Иисус иԥсра уахык шагыз Пиотр игәы ԥжәан, аҳәа ааҭиган, ауаҩы илымҳа ҿахиҵәеит (Иоанн 18:10). Убри аухаҵәҟьа иара дшәаны, хынтә Иисус дсыздырӡом ҳәа иҳәеит, уи иҩыза гәакьа шиакәызгьы (Марк 14:66—72). Уи ашьҭахь Пиотр еимаҭәаны дҵәыуон (Матф. 26:75).
7. Иарбан лшароу Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр ииҭаз?
7 Иисус иапостол игәы ихымшәаӡеит. Иара идыруан Пиотр уеизгьы бзиа дшибоз, уи шьақәирӷәӷәарцгьы алшара ииҭеит. Иԥсы анҭала ашьҭахь Иисус Пиотр дизнеин, ус иеиҳәеит: «Ссарақәа уреиҷаҳала». Пиотр дгәырӷьаҵәа уи адҵа идикылеит (Иоанн 21:15—17). Иерусалим Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны Иисус иҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны иԥшьоу адоуҳа анроу, Пиотр урҭ дрылан.
8. Иарбан гха ӷәӷәоу Пиотр Антиохиа ихьыз?
8 Пиотр иԥшьоу адоуҳала даналхыз ашьҭахьгьы, иԥсыҽрақәа шилаз даанхеит. 36 шықәса ҳ. ҳ. аан заԥхьатә хсамыз иауриамыз Корнили иԥшьоу адоуҳала даналхыз, иара уа дыҟан. Ари ахҭыс ишьақәнарӷәӷәеит «Анцәа ауаа шеилимхуа», насгьы егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа ақьырсиантә еизара иахәҭакны иҟалар шрылшоз (Аус. 10:34, 44, 45). Уи ашьҭахь Пиотр егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа дрыдтәаланы акрифон, уаанӡа ахаан ус шыҟаимҵарызгьы (Гал. 2:12). Аха иауриацәаз ақьырсианцәа рҟынтә шьоукы ргәы иаанагон, урҭ ауаа акыррыцырфалар ҟалаӡом ҳәа. Ус зыԥхьаӡоз шьоукы Антиохиаҟа ианааи, Пиотр иауриамыз иашьцәа рааигәа дымнеиуа далагеит. Иҟалап иара ус ихы зымҩаԥигаз, иауриаз ақьырсианцәа иргәамԥхоз ҟаиҵар ҳәа дахьшәоз азы акәызҭгьы. Апостол Павел Пиотр ҩ-цәак зхарԥоу реиԥш ихы шымҩаԥигоз аниба, зегьы ишраҳауаз дилабжьеит (Гал. 2:13, 14). Аха Пиотр агха шихьызгьы, гәыкала Иегова имаҵ аура даҟәымҵӡеит. Ицхрааи иара?
ИЦХРААУАЗИ ПИОТР ИГӘЫ АКАМЫЖЬРА?
9. Ишԥаҳдырбо Иоанн 6:68, 69 иану ажәақәа Пиотр гәыкала дшыҟаз?
9 Пиотр гәыкала иҟаз уаҩын. Иара Иисус ишьҭа дхыланы дцон, акы дааннакылартәгьы дыҟамызт. Пиотр Иисус гәыкала дшизыҟаз еиҳараӡак иааԥшит, Иисус иҵаҩцәа ирзеилымкааз ак аниҳәа. (Шәаԥхьа Иоанн 6:68, 69.) Урҭ рҟынтә аӡәырҩы Иисус иажәақәа ҵакыс ирымаз иҳәаанӡа дааныжьны ицеит. Аха Пиотр ус ҟаимҵаӡеит. Иара ибзианы еиликаауан «[Иисус] [и]ажәақәа... наӡаӡатәи аԥсҭазаара» шурҭо.
10. Излоубарҭоузеи Иисус Пиотр игәра шигоз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
10 Пиотр имаҷымкәа агхақәа шыҟаиҵазгьы, Иисус уи игәы ихымшәаӡеит. Иаҳгәалаҳаршәап Иисус иԥсра сааҭқәак шагыз иҟалаз. Иара идыруан Пиотри егьырҭ апостолцәеи дшаанрыжьуа. Аха агәра ганы иҳәеит, ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр доуҳала дшыӷәӷәахо, насгьы гәыкала Анцәа имаҵ шиуло (Лука 22:31, 32). Иисус еиликаауан: «Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп» (Марк 14:38). Убри аҟынтә Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа аниҳәа ашьҭахьгьы, Иисус Пиотр игәы ихымшәаӡеит. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Пиотр иахь даннеи, уи ихала дыҟазҭгьы ҟаларын (Марк 16:7; Лука 24:34; 1 Кор. 15:5). Ҳәарада, зыгха иахьхәыз Пиотр уи даараӡа дарӷәӷәеит.
11. Ишԥаиеилиркааи Иисус Пиотр Иегова уи дшаанимыжьуа?
11 Иисус Пиотр иеилиркааит Иегова уи ахаан дшаанимыжьуа. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, Пиотри егьырҭ апостолцәеи ирацәаны аԥсыӡ ркыртә иҟаиҵеит (Иоанн 21:4—6). Уи аџьашьахәы ҳәарада, Пиотр агәра инаргеит иҭахрақәа Иегова дреиҷаҳар шилшо. Иисус иҳәахьан: «Шәыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳр[а]... зегь раасҭа ихадаз». Анаҩс иҳәеит, ус ҟазҵо Иегова зда ԥсыхәа ыҟам зегь шриҭо. Иҟалап Пиотр урҭ ажәақәа игәалашәазар (Матф. 6:33). Убри аҟынтә Пиотр иԥсҭазаара аԥсыӡкра акәымкәа, Анцәа имаҵ аура иазикит. Иара 33 шықәса ҳ. ҳ. аан Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны агәымшәара аарԥшны, ажәахә иманы дықәгылеит, уи абзоурала зықьҩыла ауаа агәырӷьажәабжь рыдыркылеит (Аус. 2:14, 37—41). Уи ашьҭахь иара самариааи иауриамыз егьырҭ ауааи Христос иҵаҩцәаны аҟалара дрыцхрааит (Аус. 8:14—17; 10:44—48). Ишаҳбо еиԥш, Иегова еиуеиԥшым ауаа иеизарахь инеигарц азы зныкымкәа Пиотр ихы даирхәеит.
ҲАРА ҲЗЫ АУРОКҚӘА
12. Ирыцхраар шԥалшо Пиотр иҿырԥшы ԥсыҽрак иаиааирц зҭаху?
12 Иегова гәыкала имаҵ аура ҳаргьы дҳацхраауеит. Уи мариамзар алшоит, еиҳараӡак иҳалоу ԥсыҽрақәак уажәы-уажә рхы цәырыргозар. Зны-зынла ҳгәы иаанагалар ауеит апостол Пиотр илаз аԥсыҽрақәа раасҭа ҳара иҳалоу аԥсыҽрақәа рҿагылара еиҳа ицәгьоуп ҳәа. Аха Иегова ҳгәы каҳмыжьырц азы амч ҳаиҭоит (Аԥсал. 94:17—19). Иаҳҳәап, иашьак Иегова имаҵ аура далагаанӡа дгомосексуалистын. Иара шьаҭанкыла иҽиԥсахит, аха уеизгьы зны-зынла иҽеим агәаҳәарақәа изцәырҵуан. Ицхраази иара игәы акамыжьра? Уи аиашьа иҳәеит, Иегова идоуҳа ада акгьы шилымшоз: «Сара еилыскааит иара ицхыраарала аҵабырг амҩала ацара шсылшо... ...Иегова имаҵ аура азин сиҭеит, насгьы исылоу аԥсыҽрақәа дырмыхәаԥшӡакәа еснагь дсыцхраауеит».
13. Ишԥаҳалшо Аусқәа 4:13, 29, 31 рҿы зыӡбахә ану Пиотр иҿырԥшы ҳақәныҟәалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
13 Ишаҳбаз еиԥш, Пиотр ауаа дахьрыцәшәоз иахҟьаны агха ӷәӷәақәа ҟаиҵеит. Аха Анцәа даниҳәоз иара агәымшәара иоуан. (Шәаԥхьа Аусқәа 4:13, 29, 31.) Ҳаргьы акы ҳацәшәозар, уи ҳаиааир ҳалшоит. Абар анацистцәа рхаан Германиа инхоз иқәыԥшыз аиашьа Хорст ихьыз. Ашкол данҭаз иара дшәаны зныкымкәа «Хаиль Гитлер!» ҳәа иҳәахьан. Уи аҩыза анихьуаз иҭаацәа иацәҳаӡомызт, аха идтәаланы Иегова иҳәон, рԥа агәымшәара ииҭарц азы. Иҭаацәа рыцхыраареи Иегова дахьиқәгәыӷуази рыбзоурала Хорст Иегова гәыкала имаҵ аура илшеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара иҳәеит: «Иегова ахаан саанижьӡомызт» c.
14. Ишԥарылшо абзиабара злоу ахьчацәа згәы каҳаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраар?
14 Иеговеи Иисуси ахаан ҳаанрыжьӡом. Пиотр Иисус дсыздырӡом ҳәа аниҳәа ашьҭахь, ихадоу аӡбара идикылар акәын: Христос даанижьуоу, анаҩсгьы ишьҭа дхыланы дцалоу. Иисус дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова диҳәон Пиотр ихаҵара мԥсыҽхарц азы. Иисус Пиотр иеиҳәеит иара изы Анцәа дышиҳәоз, насгьы иҳәеит ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр иашьцәа ргәы арӷәӷәара шилшо агәра шиго (Лука ). Пиотр арҭ ажәақәа анигәалашәоз ҿыц имч ҭалозҭгьы ҟаларын. Ҳаргьы уи аҩыза алхра ҟаҵатәыс иҳаур, Иегова абзиабара аазырԥшуа ахьчацәа рыла дҳацхраауеит. Дара Иегова даанҳмыжьырц иҳацхраауеит ( 22:31, 32Еф. 4:8, 11). Акыршықәса Иегова имаҵ зуа Пол зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы ус еиԥш иҟоу ахьча иакәны дыҟазарц азы илшо зегь ҟаиҵоит. Иара згәы каҳаз иргәаладыршәарц реиҳәоит Иегова урҭ иара иахь ишааиԥхьаз. Уи ашьҭахь иара агәра диргоит Иегова дара гәыкала бзиа ишибо, насгьы ахаан ишаанимыжьуа. Пол иҳәоит: «Сара избон згәы каҳаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова ицхыраарала рымч шҭалоз».
15. Ишԥаҳдырбо апостол Пиотри Хорст Хеншели рҿырԥшқәа Матфеи 6:33 иану ажәақәа шиашоу?
15 Иегова Пиотри егьырҭ апостолцәеи рҭахрақәа дреиҷаҳауан. Убас еиԥш ҳаргьы ҳҭахрақәа дреиҷаҳалоит, имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҳаргылалар (Матф. 6:33). Даҽазнык иаҳгәалаҳаршәап Хорст иҿырԥшы. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь иара пионерс амаҵ аура далагар иҭахын. Аха иара дӷарны дынхон, убри аҟынтә иаамҭа зегь амаҵзура иазиклар, ихы изныҟәымгар ҳәа дшәон. Иҟаиҵеи Хорст? Иара Иегова дихылаԥшлоу-дихыламԥшлоу гәеиҭарц иӡбеит. Реизара араион ахылаԥшҩы данаҭаауаз, иара мчыбжь дуӡӡак амаҵзура иазикит. Амчыбжь анҵәамҭазы Хорст дыззыԥшымыз ак ҟалеит: араион ахылаԥшҩы конвертк ииркит, аха уи изҭаз дызусҭаз имҳәаӡеит. Аконверт иҭаз аԥара мызқәак пионерс амаҵ ауразы иузхон. Хорст уи аҳамҭа иеилнаркааит Иегова дшаанимыжьуа. Убринахыс иара еснагь иԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иргылон (Мал. 3:10).
16. Избан Пиотр иҿырԥши ииҩыз асаламшәҟәқәеи ҳара ҳзы изхәарҭоу?
16 Иҟан аамҭа Пиотр сааныжь ҳәа Иисус даниҳәоз. Шаҟа деигәырӷьазеи иара нас Иисус уи дахьизымӡырҩыз! Иара Анцәа гәыкала изыҟаз апостол иакәны дҟалеит, насгьы ақьырсианцәа зеиԥшыҟам аҿырԥшы рзынзыжьыз дреиуахеит. Иисус Пиотр иирҵоз ҳара ҳзгьы ихәарҭоуп. Урҭ рҟынтә урокқәак, насгьы ирацәаны егьырҭ азхәыцрақәа Пиотр ииҩыз ҩ-саламшәҟәык рҿы иануп. Раԥхьа урҭ асаламшәҟәқәа актәи ашәышықәсазы иҟаз аизарақәа рзы иҩын, аха ԥыҭрак ашьҭахь Абиблиа иахәҭакны иҟалеит. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара урҭ асаламшәҟәқәа рҟынтә зхәыцрақәак еилҳаргоит, насгьы урҭ иахьа ҳара ҳзы излахәарҭоу еилаҳкаауеит.
АШӘА 126 Ӷьеҩла шәыҟаз, акрычҳара шәымаз
a Ари астатиа хықәкыс иамоу зыԥсыҽрақәа ирҿагыло урҭ риааиреи Иегова гәыкала имаҵ ауреи шрылшо агәра дыргара ауп.
b Ари астатиаҿы лассы-лассы иаҳԥылоит Марк иҟынтә Аевангелие иану ацитатақәа. Уи Аевангелие аҿы иану ирацәаны ахҭысқәа иҟалап Марк лабҿаба избаз Пиотр иҟынтә иаҳазар.
c Шәахәаԥш 1998 шықәса, февраль 22 азы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы иаагоу Хорст Хеншель ибиографиа «Меня вдохновляла верность семьи Богу».
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аишьцәа иқәдыргылаз ари асахьаҿы ҳара иаҳбоит Хорст Хеншель иҭаацәа идтәаланы Иегова рыҷкәын агәымшәара ииҭарц ишиҳәо.