Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 41

Пиотр исаламшәҟәқәа рҟынтә ихадоу аурокқәа

Пиотр исаламшәҟәқәа рҟынтә ихадоу аурокқәа

«Сара уи еснагь [ишәгәаласыршәалоит]» (2 ПИОТР 1:12).

АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу

АХҲӘАА a

1. Иарбан дҵоу Анцәа апостол Пиотр иԥсра маҷк шагыз ииҭаз?

 ПИОТР акыршықәса Иегова гәыкала имаҵ иуан. Иара Иисус ажәабжь аниҳәоз дицын. Уи апостол ибзоурала ажәабжь бзиа иауриамыз ауаа ираҳартә иҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ иуан. Пиотр иԥсра маҷк шагыз Иегова даҽа дҵакгьы ииҭеит. 62—64 ашықәсқәа ҳ. ҳ. шыҟаз еиԥш Анцәа Пиотр иеиҳәеит анаҩс Абиблиа иахәҭакхаз ҩ-саламшәҟәык иҩырц. Иахьа урҭ ашәҟәқәа 1 Пиотр, насгьы 2 Пиотр ҳәа еицырдыруеит. Апостол иҭахын иара данԥслак ашьҭахьгьы урҭ асаламшәҟәқәа ақьырсианцәа Анцәа гәыкала имаҵ аура ирыцхрааларц (2 Пиотр 1:12—15).

2. Избан Пиотр исаламшәҟәқәа ақьырсианцәа ирҭахыҵәҟьаз закәыз?

2 Пиотр исаламшәҟәқәа аниҩыз аамҭазы аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиуеиԥшым аԥышәарақәа рхыргон (1 Пиотр 1:6). Аизараҿы амцҵарақәа рылазырҵәоз, насгьы ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа рылазгалоз ауаа ҟалеит (2 Пиотр 2:1, 2, 14). Уи адагьы римтәи ар Иерусалими уа иҟаз аныҳәарҭеи хдырбгалараны ианыҟаз аамҭа ааигәахон. Уи ақалақь аҿы инхоз ақьырсианцәа ргәырҽанызар рыхәҭан (1 Пиотр 4:7). Ҳәара аҭахума, Пиотр исаламшәҟәқәа иашьцәеи иаҳәшьцәеи зықәшәоз аԥышәарақәа зегьы рыхгареи аԥхьаҟа ирзыԥшыз ауадаҩрақәа рҽырзыҟаҵареи ирыцхрааит b.

3. Избан Пиотр исаламшәҟәқәа рыҭҵаара зхәарҭоу?

3 Пиотр исаламшәҟәқәа актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рзоуп изиҩыз, аха Иегова урҭ Абиблиа иахәҭакхартә иҟаиҵеит. Ус анакәха, урҭ ҳара ҳзгьы ихәарҭоуп (Рим. 15:4). Ҳара ԥхашьарак рыламкәа зхы мҩаԥызго ауаа ҳрыланхоит. Убри аҟынтә Иегова имаҵ аура ҳцәыцәгьахар ауеит. Уи адагьы иаарласны арыцҳара ду алагоит, уи иудеиатәи асистема аҵыхәтәа ԥызҵәаз арыцҳара аасҭа еиҳахоит. Пиотр исаламшәҟәқәа рыҩбагьы рҿы ихадоу агәаларшәарақәа ануп. Урҭ ҳацхраауеит Иегова имш азыԥшреи, ауаа рҿаԥхьа ашәара аиааиреи, ҳара-ҳара ҳабжьара гәыкала иҟоу абзиабара аизырҳареи. Иара убас урҭ агәаларшәарақәа рыбзоурала аизара ахылаԥшыҩцәа реизарақәа рҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны рхылаԥшра рылшоит.

ИЕГОВА ИМШ ШӘАЗЫԤШЫЗ

4. Изырԥсыҽыр алшозеи ҳхаҵара, 2 Пиотр 3:3, 4 иану инақәыршәаны?

4 Ҳара ҳазланхо ауаа абиблиатә ԥааимбаражәақәа рыгәра ргаӡом. Ҳазцәымӷу ауаа ҳхыччоит, избанзар аҵыхәтәа ааигәахоит ҳәа ҳҳәоижьҭеи акыршықәса ҵуеит. Иҟоуп уи ахаан иааиӡом ҳәа зҳәогьы. (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:3, 4.) Ус рҳәалар ауеит ажәабжь заҳҳәо ауаа, аус зцаҳуа, мамзаргьы ҳауацәа. Урҭ ирҳәо ҳхаҵара арԥсыҽыр алшоит. Пиотр иҳәеит уи аҩыза ҳмыхьырц азы иҟаҵалатәу.

5. Иҳацхраауазеи ачҳара аарԥшны ари адунеи аҵыхәтәа азыԥшра? (2 Пиотр 3:8, 9).

5 Шьоукы абас ихәыцлар ауеит: «Избан Иегова ицәгьоу ари адунеи зықәимгац? Избан аамҭа зиго?» Аха Пиотр иажәақәа иаҳгәаладыршәоит Анцәеи ауааи аамҭа ишахәаԥшуа зынӡа ишеиԥшым. (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:8, 9.) Иара изы зқьышықәса мышкы еиԥш ицоит. Иегова ачҳара ааирԥшуеит — иара аӡәгьы дыԥсыр иҭахӡам. Аха имш анааилак ари адунеи аҵыхәтәа ԥҵәоит. Убри аҟынтә шәааи иаанхаз аамҭа ҟәыӷарала ҳхы иархәаны, аӡәы даанмыжькәа, зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәалап.

6. Иҟаҵалатәузеи Иегова имш шааиуа ҳхаҳмыршҭларц азы? (2 Пиотр 3:11, 12).

6 Пиотр Анцәа имш шааигәахо ҳхаҳмыршҭларц ҳгәазҭеиҵоит. (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:11, 12.) Иҳацхраауазеи уи аҿы? Адунеи ҿыц аҟны иаҳзыԥшу аԥсҭазаара бзиа, иҳалшозар, есыҽны ҳхаҿы иааҳгалароуп. Шәхаҿы иаажәг аҳауа цқьа шышәфо, ихырҳагоу афатә хаа шышәфо, зыԥсы ҭалаз ишәызгәакьоу ауаа шәшырԥыло, насгьы ажәытәан инхоз ауаа абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынаӡаз шырзеиҭашәҳәо. Абри зегьы шәазхәыцлар, Иегова имш азыԥшра шәарааԥсаӡом, насгьы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо агәра ганы шәыҟазаауеит. Ҳара аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа ҳдыруазар, Иегова имш шааигәахо агәра зымго ауаа ҳрызжьаӡом (2 Пиотр 3:17).

АУАА РҾАԤХЬА АШӘАРА ШӘҼАШӘЫМҬАЛАН

7. Иаҳԥырхагахар шԥалшо ауаа рҿаԥхьа ашәара?

7 Ҳара Иегова имш шааигәоу ҳхаҳаршҭӡом, убри аҟынтә ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәоит. Аха зны-зынла Абиблиа аӡбахә аҳәара ҳзымгәаӷьуазар ауеит. Избан? Избанзар ауаа акы ҳхырҳәаар ҳәа, ма акы ҳзырур ҳәа ҳшәоит. Пиотргьы убри ауп ихьыз. Иисус иус анырыӡбоз ауха Пиотр уи иҵаҩы шиакәу мап икит, зынӡа дсыздырӡом ҳәагьы зныкымкәа иҳәеит (Матф. 26:69—75). Аха ԥыҭрак ашьҭахь иара имаз ашәара даиааин, абас иҩит: «Егьырҭ ауаа зыцәшәо шәара шәацәымшәалан, акгьы хьаас иҟашәымҵалан» (1 Пиотр 3:14). Пиотр иажәақәа агәра ҳдыргоит ауаа рҿаԥхьа ашәара ҳаиааир шҳалшо.

8. Иҳацхраауазеи ауаа рҿаԥхьа ашәара аиааира? (1 Пиотр 3:15).

8 Иҳацхраауазеи ауаа рҿаԥхьа ашәара аиааира? Пиотр иҩит: «Христос Ишәықәиҭу шиакәу еилкааны, иԥшьоу аӡә иеиԥш шәгәаҿы еснагь ҳаҭыр ду иқәышәҵала». (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:15.) Иаҵанакуазеи уахь? Ҳара Христос Иисус, Иҳақәиҭу Ҳаҳ, уажәы иааникыло аҭыԥи имоу амчреи ҳрызхәыцлар хадоуп. Аӡәы ажәабжь бзиа изеиҭаҳәара алшара аншәоуа шәгәы хыҭхыҭуазар, Ҳаҳ шәизхәыц. Шәхаҿы иаажәг иара жәҩантәи итәарҭаҿы дыштәоу, насгьы иааикәыршаны миллионҩыла амаалықьцәа шыҟоу. Ишәхашәмыршҭлан иара «ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы амчра зегь» шиҭоу, насгьы «ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа» дышшәыцзаауа (Матф. 28:18—20). Пиотр ҳгәазҭеиҵоит зыгәра ҳго аҳәара еснагь ҳазхиазарц. Ишәҭахума шәара аҵара шәыцызҵо, шәырҵаҩцәа, аус шәыцызуа, насгьы шәусқәа шәанырҿу ишәықәшәо ауаа ажәабжь рзеиҭашәҳәалар? Уи аҩыза алшара шәоур ахьшәылшо, насгьы ишәҳәаша заа шәазхәыц. Иегова агәымшәара шәиҭарц шәиҳәала, насгьы ашәара аиааира дышшәыцхраауа агәра ганы шәыҟаз (Аус. 4:29).

ГӘЫКАЛА БЗИА ШӘЕИБАБАЛА

Пиотр Павел ииҭаз алабжьара идикылеит. Пиотр исаламшәҟәқәа рыҩбагьы рҿы иҳәоит абзиабара аус аҿы аарԥшра шаҟа ихадоу. (Шәахәаԥш абзац 9.)

9. Ианбааимырԥши Пиотр аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Пиотр абзиабара аарԥшышьа иаразнак имҵаӡеит. Ҳара иаҳдыруеит иара Христос иааигәара дшыҟаз уи абас аниҳәа: «Сара аԥҟара ҿыц шәысҭоит: аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала. Сара бзиа шәшызбо еиԥш, убас шәаргьы бзиа шәеибабала» (Иоанн 13:34). Аха ԥыҭрак ашьҭахь Пиотр иауриамыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи акыррыцфара даҟәыҵит. Иара иауриаз ақьырсианцәа ак ихырҳәаар ҳәа дшәон. Апостол Павел Пиотр иеиҳәеит ус зхы мҩаԥызго ҩ-цәак зхарԥоу роуп ҳәа (Гал. 2:11—14). Пиотр Павел илабжьара идкыланы, ахәарҭа алигеит. Иара исаламшәҟәқәа рыҩбагьы рҿы иаҵшьны иазгәеиҭеит ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа рбара адагьы, уи аус аҿы иааҳарԥшлар шҳахәҭоу.

10. Иҳацхраауазеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала бзиа рбара? Иҳаилшәыркаа (1 Пиотр 1:22).

10 Пиотр актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа абас рзиҩит: «Шәара... еишьцәаҵас гәыкала бзиа шәеибабеит». (Шәаԥхьа 1 Пиотр 1:22.) Ҳаргьы уи ҳалшоит, «аҵабырг [ҳацныҟәозар]», даҽакала иуҳәозар, абиблиатә рҵарақәа зегьы ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәозар. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иануп «Анцәа ауаа шеилимхуа» (Аус. 10:34, 35). Ҳара Иисус «аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала» ҳәа иҳаиҭаз аԥҟара ҳақәныҟәоит ҳәа ҳазҳәаӡом, аизараҿы аӡәык-ҩыџьак мацара ракәзар бзиа иаҳбо. Ҳәарада, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы еиҳа ҳгәы иақәшәозар ауеит. Иисусгьы иҵаҩцәа шьоукы еиҳа игәы иақәшәон (Иоанн 13:23; 20:2). Аха Пиотр иаҳгәалаиршәоит аизараҿы зегьы аишьцәа реиԥш бзиа иаҳбалар шҳахәҭоу. Усҟан зегьы бзиа иахьеибабо ҭаацәара дук еиԥш ҳҟалоит (1 Пиотр 2:17).

11. Иаанагозеи «гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала» ҳәа иҳәоу ажәақәа?

11 Пиотр «гәык-ԥсыкала бзиа [ҳаибабаларц]» ҳгәазҭеиҵеит. Уи иаанагоит ҳгәы иҵегьы иаартны, бзиа збара мариамгьы бзиа рбара. Иаҳҳәап, аӡәы ҳгәы ҳирхьзар, иаразнак аҭак иаҳҭарц ҳҭаххар ауеит. Аха Пиотр Иисус иҟынтә идыруан Иегова уи аҩыза ахымҩаԥгашьа шигәамԥхо (Иоанн 18:10, 11). Иара иҩит: «Ацәгьа шәзызуа ацәгьа изышәымун, иакәым шәзызҳәо иакәым изышәымҳәалан. Анцәа шәзалихыз ауаа шәныҳәаларц азоуп» (1 Пиотр 3:9). Абзиабара ӷәӷәа шәыцхраауеит шәзыргәааз рахьгьы ақьиареи азҿлымҳареи аарԥшра.

12. а) Ҳгәы зызҭанаҵозеи иҵегьы абзиабара ӷәӷәа? б) Шәхы иашәырхәарц ишәҭахузеи авидеонҵамҭа «Дорожите нашим единством» аҟынтә?

12 Апостол Пиотр актәи исаламшәҟәаҿы иҩит гәыкала бзиа ҳаибабозар, знык-ҩынтә акәымкәа, еснагь анажьра ҳшазхиазаауа (1 Пиотр 4:8). Иҟалап Пиотр игәалашәазар акыршықәса раԥхьа Иисус анажьшьа шиирҵоз. Иҟалап усҟан Пиотр игәы иаанагозҭгьы иашьа 7-нтә ианаижьзар, уи гәыҭбаара дууп ҳәа. Аха Иисус иеиҳәеит уи 77-нтә, даҽакала иуҳәозар, еснагь, ишианажьлатәу. Уи ҳаргьы иҳаҵанакуеит (Матф. 18:21, 22). Уи ишәылымшо акы ауп ҳәа шәгәы иаанагозар, шәгәы кашәмыжьын! Ҳара зегьы ҳнаӡаӡам, анажьра анаҳцәыцәгьоугьы ыҟоуп. Аха ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп зегь ҳхаршҭны ауаҩы ҳаинышәарц азы c.

АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА, АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ШӘРЕИҶАҲАЛА

13. Избан аизара ахылаԥшыҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхылаԥшра рзымариамзар залшо?

13 Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Пиотр ахаан ишихамышҭуаз Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь иеиҳәаз абарҭ ажәақәа: «Суаса ԥшқақәа ахьча иеиԥш урхылаԥшла» (Иоанн 21:16). Уара аизара ахылаԥшҩы уакәзар, арҭ ажәақәа уаргьы ишуҵанакуа удыруеит. Аха аизара ахылаԥшыҩцәа ихадоу ари адҵа анагӡаразы аамҭа аԥшаара рзымариамзар алшоит. Дара рҭаацәарақәа ныҟәыргалароуп, урҭ ремоциатә, насгьы рдоуҳатә ҭахрақәа иреиҷаҳалароуп. Иара убас аизара ахылаԥшыҩцәа гәацԥыҳәарала ажәабжь рҳәоит, насгьы аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы ажәахәқәеи адҵақәеи анрырҭо, урҭ рҽырзыҟарҵоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә шьоукы ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитетқәа рҿы, иара убас апроектқәеи аргыларақәеи ирҿу аҭыԥантәи аҟәшаҿы амаҵ руеит. Зыхә ҳараку аизара ахылаԥшыҩцәа рхы иамеигӡакәа аџьабаа рбоит!

Абзиабара злоу аизара ахылаԥшыҩцәа шеилахоугьы, Анцәа иуасақәа гәыкала ирхылаԥшуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)

14. Ирыцхраауазеи аизара ахылаԥшыҩцәа Анцәа иԥсаса рхылаԥшра? (1 Пиотр 5:1—4).

14 Апостол Пиотр аизара ахылаԥшыҩцәа иреиҳәеит: «Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш шәеиҷаҳала». (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:1—4.) Ҳаҭыр зқәу аизара ахылаԥшҩы, ҳара иаҳдыруеит уара уашьцәеи уаҳәшьцәеи бзиа ишубо, урхылаԥшларцгьы шуҭаху. Аха зны-зынла уахьеилахо ма уахьааԥсо иахҟьаны, иуду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара улымшошәа угәы иабозар ауеит. Иҟауҵар улшозеи ус ухы убозар? Угәҭыхақәа Иегова изеиҭаҳәала. Пиотр иҩит: «Егьырҭ рымаҵ зуа иакәзар, Анцәа имч дақәгәыӷны рымаҵ иулароуп» (1 Пиотр 4:11). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зықәшәо ауадаҩрақәа иҟалап адунеи ҿыц аҿы акәзар ианыӡбахо. Аха иухоумыршҭлан «ахьча хада» Иисус Христос урҭ рзы уара умч зқәымхо ҟаиҵар шилшо. Иҟоуп уажәы иҟаиҵо, иҟоуп аԥхьаҟа иҟаиҵо. Анцәа аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә дыззыԥшу — рашьцәа бзиа ирбаларц, ирхылаԥшларц, насгьы аҿырԥш бзиа рырҭаларц мацара ауп.

15. Дышԥареиҷаҳауеи аизара ахылаԥшҩык Иегова иуасақәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Акыршықәса аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуа Уи́льиам аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхылаԥшра шаҟа ихадоу еиликаауеит. Апандемиа COVID-19 ианалага, иареи егьырҭ аизара ахылаԥшыҩцәеи ирыӡбеит дара ирыду ажәабжьҳәаратә гәыԥ аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи мчыбжьык ахь знык аӡәаӡәала аҭел ирзасларц. Иара уи аҩыза аӡбара зрыдыркылаз иҳәоит: «Аишьцәа аӡәырҩы рыгәҭыхақәа зарҳәо дрымамкәа аҩны иҩнахеит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы ирласны угәы каҳар алшоит». Иашьак ма иаҳәшьак уадаҩрак анрызцәырҵуа, Уильиам урҭ ргәы иҵхо, насгьы дызларыцхрааша еиликаарц азы ибзианы дырзыӡырҩуеит. Нас урҭ ирыхәаша аинформациа иԥшаауеит, лассы-лассы уи ҳсаит аҟынтә авидеонҵамҭақәа роуп. Уильиам иҳәоит: «Аизара ахылаԥшыҩцәа рус иахьеиԥш ахаан ихадамхаӡацт. Ҳара ауаа Иегова иабаҳардырырц азы ирацәаны аџьабаа ҳбоит. Аха Иегова иуасақәа реиҷаҳареи аҵабырг амҩа ианымҵырц рыцхраареи еиҳагьы ихадоуп».

ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ШӘАЗЫҞАИҴАРТӘ ИЛШӘЫРША

16. Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Пиотр исаламшәҟәқәа рҿы иану аурокқәа?

16 Ҳара Пиотр исаламшәҟәқәа рҟынтә урокқәак роуп ҳазлацәажәаз. Иҟалап шәара шәҽеиӷьышәтәыр ахьышәҭаху ганқәак алышәкаазар. Иаҳҳәап, ишәҭахума адунеи ҿыц аҿы иҟашәҵало лассы-лассы шәазхәыцлар? Мамзаргьы иҟалап хықәкыс иқәшәыргылазар аус шәыцызуа, аҵара шәыцызҵо, шәырҵаҩцәа, ма шәусқәа шәанырҿу ишәԥыло ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара? Ишәылшома аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь еиҳагьы гәык-ԥсыкала абзиабара аарԥшра? Аизара ахылаԥшыҩцәа, шәазхиоума анаҩсгьы Иегова иуасақәа гәык-ԥсыкала, насгьы шәхы шәамеигӡакәа рхылаԥшра? Арҭ азҵаарақәа шәхы ианашәҭало иҟалап ак шшәыгу жәбар. Аха шәгәы кашәмыжьлан! Ақьиара злоу Иҳақәиҭу ишәыгу ариашара дшәыцхраауеит (1 Пиотр 2:3). Пиотр агәра ҳиргоит: «Анцәа... ихаҭа имаҵ аура шәазыҟаиҵоит. Иара шәирӷәӷәоит, амч шәиҭоит, дшәыцхраауеит» (1 Пиотр 5:10).

17. Лҵшәас иаанагозеи, ҳгәы камыжьӡакәа Иегова аҵара ҳирҵаларц алшара иаҳҭозар?

17 Пиотр зны игәы иаанагон Анцәа Иԥа иааигәара аҟазаара даԥсаӡам ҳәа (Лука 5:8). Аха Иеговеи Иисуси рыцхыраарала игәы камыжьӡакәа, анаҩсгьы гәыкала Христос имаҵ иуан. Уи абзоурала Пиотр «Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос наӡаӡатәи Иаҳра агәашәқәа ҟьаҟьаӡа» изаатит (2 Пиотр 1:11). Шәаргьы Пиотр иеиԥш шәгәы кашәмыжьуазар, насгьы Иегова аҵара шәирҵалартә алшара ишәҭозар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ишәоуеит. Шәара «ахаҵара́ ахьаашәырԥшуа азы шәеиқәхоит» (1 Пиотр 1:9).

АШӘА 109 «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»

a Ари астатиа аҟны ҳара апостол Пиотр исаламшәҟәқәа ҩба рҟынтә урокқәак ҳрылацәажәоит. Еилаҳкаауа аԥышәарақәа рыхгара иҳацхраауеит. Иара убас аизара ахылаԥшыҩцәа иреилнаркаауеит реизарақәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа еиӷьны ирхылаԥшлар шрылшо.

b 66 шықәса ҳ. ҳ. аан римаа Иерусалим иақәлаанӡа акәзар ҟалап Палестина инхоз ақьырсианцәа Пиотр исаламшәҟәқәа рыҩбагьы анроу.

c Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы авидеонҵамҭа «Дорожите нашим единством».