Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 37

Самсон шәиҿыԥшла — Иегова шәиқәгәыӷла

Самсон шәиҿыԥшла — Иегова шәиқәгәыӷла

«Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, суҳәоит... сугәаларшәа, насгьы сырӷәӷәа» (АӠБ. 16:28).

АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза

АХҲӘАА a

1, 2. Избан Самсон ихҭыс еилҳаргар зыбзиоу?

 ШӘХАҾЫ иааиуазеи ахьӡ Самсон аншәаҳауа? Иҟалап амч дуӡӡа змаз Анцәа имаҵзуҩы шәхаҿы дааиуазар. Ааи, иара даара дыӷәӷәан. Аха зны Самсон иҽеим аӡбара идикылеит, уи алҵшәа бааԥсқәа аанагеит. Ус шакәызгьы Иегова Самсон гәыкала изыҟаз имаҵзуҩ иакәны диԥхьаӡон. Убри аҟынтә уи ихҭыс ҳара хәарҭа ҳзаанагарц азы Абиблиа ианырҵартә иҟаиҵеит.

2 Иегова иалихыз ажәлар Израиль дрыцхрааларц азы, Самсон ила аус џьашьахәқәа ҟаиҵон. Самсон данԥсы ашьҭахь ашәышықәсақәа анҵы, Иегова апостол Павел игәазҭеиҵеит ахаҵара ӷәӷәа змаз ауаа анеиқәиԥхьаӡоз, Самсонгьы дырхиԥхьаӡаларц (Аур. 11:32—34). Самсон Иегова диқәгәыӷуан, уи анымариамызгьы. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Самсон иҿаҳҵаар ҳалшо, насгьы иҿырԥшы ҳгәы шьҭнахыр шалшо.

САМСОН ИЕГОВА ИГӘРА ИГОН

3. Иарбан дҵоу Самсон иоуз?

3 Самсон диит филистимаа Анцәа ижәлар ҭаха анрырымҭоз аамҭазы (Аӡб. 13:1). Згәыжәла цәгьаз урҭ ауаа израильаа ӷәӷәала идыргәаҟуан. Иегова Самсон иҷыдоу адҵазы — Израиль филистимаа рҟынтә еиқәирхарц азы — далихит (Аӡб. 13:5). Шаҟа имариамзеи ари адҵа! Самсон уи наигӡарц азы Иегова диқәгәыӷлар акәын.

Самсон Иегова игәра игон, насгьы аҭагылазаашьақәа иҽрықәиршәон. Иара Анцәа ииҭаз адҵа наигӡарц азы имԥыхьашәаз ихы иаирхәеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 5.)

4. Дышԥаицхрааи Иегова Самсон филистимаа рыцәцара? (Аӡбаҩцәа 15:14—16).

4 Ҳахәаԥшып Самсон Анцәа даниқәгәыӷ, уи дышицхрааз иазку хҭыск. Зны филистимаа Самсон дыркырц азы Лехиҟа (иҟалап уи Иудеиа акәызҭгьы иахьыҟаз) иааит. Иудеиаа филистимаа ирыцәшәон, убри аҟынтә рыжәлар иреиуаз Самсон раӷацәа дрырҭарц рыӡбеит. Дара иҿыцыз ҩ-шахак рыла иӷәӷәаны дҿаҳәаны филистимаа рахь дыргеит (Аӡб. 15:9—13). Аха Самсон Иегова идоуҳа иоун, ашахақәа ԥиҵәеит. Уи ашьҭахь иара аҽада ацламҳәа иԥшаан уи ала 1000-ҩык филистимаа ишьит! (Шәаԥхьа Аӡбаҩцәа 15:14—16.)

5. Избан Самсон аҽада ацламҳәа ихы изаирхәаз?

5 Избан Самсон аҽада ацламҳәа ихы изаирхәаз? Уи бџьарк аҳасабала ахархәара уамашәа иубашаз ак акәын. Ҳәарада, Самсон еиликаауан ақәҿиара узҭо Иегова шиакәу, иуку абџьар акәымкәа. Анцәа гәыкала изыҟаз Самсон имԥыхьашәаз ихы иаирхәеит. Еилкаауп аиааира агара злаилшаз, Иегова гәык-ԥсыкала игәра ахьигоз абзоуралоуп.

6. Иҳацхраар алшозеи Иегова иҳадиҵо адҵақәа рынагӡара?

6 Иегова ицхыраарала ҳамч рықәхаӡом ҳәа иҳаԥхьаӡо адҵақәагьы рынагӡара ҳалшоит. Анцәа ҳшазыԥшым еиԥш ацхыраара ҳаиҭар ауеит. Иегова игәра жәгала! Иара Самсон амч ииҭеит. Шәаргьы цхыраарада шәаанижьӡом, игәҭакы анагӡарагьы дшәыцхраауеит (Ажәам. 16:3).

7. Иарбан хҭысу иаҳзырбо Иегова инапхгара ҳашьҭазар шхадоу?

7 Ҳорганизациа инанагӡо аргыларатә проектқәа рыҽрылазырхәуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова игәра шырго аадырԥшуеит. Уаанӡа ҳара ҳхала иаҳаҩуаз апроектқәа рыла Аҳратә залқәеи егьырҭ ахыбрақәеи ҳаргылон. Аха Иегова иорганизациа аизҳара ианалага, аԥсахрақәа ҟаҵатәхеит. Аҭакԥхықәра здыз аишьцәа Иегова инапхгара иашьҭан, насгьы иҿыцыз аметодқәа рхархәашьа рҵон. Иаҳҳәап, ҳара ахыбрақәа аахәаны урҭ реиҭарҿыцра ҳалагеит. Адунеи еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аргыларатә проектқәа рыҽрылазырхәуаз Ро́берт иҳәоит: «Раԥхьа ари иҿыцу аметод ала аусура ззымариамыз ыҟан. Уи уаанӡа аус шаҳуаз зынӡа еиԥшӡамызт. Аха аишьцәа зҽызыԥсахыз аҭагылазаашьа аҽақәыршәара иазхиан, убри аҟынтә Иегова уи аԥсахра дшазылԥхаз еилкаахеит». Ари ҿырԥштәы заҵәык ауп, Анцәа игәҭакы наигӡарц азы ижәлар шымҩақәиҵо ҳзырбо. Аамҭа-аамҭала ҳара зегьы ҳхы ҳазҵаалароуп: «Сашьҭоума сара Иегова инапхгара, насгьы зегьы иреиӷьу исҭаларц азы зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьақәа рыҽрықәыршәара сазхиоума?»

САМСОН ИЕГОВА ИҞЫНТӘ АЦХЫРААРА ИДИКЫЛОН

8. Иҟаиҵазеи Самсон ӷәӷәала аӡба данакы?

8 Самсон иҟаиҵоз иџьашьахәыз егьырҭ аусқәа рыӡбахәгьы шәаԥхьахьазар ҟалап. Иаҳҳәап, иара бџьарда алым даиааит, ԥыҭрак ашьҭахь Ашкелон 30-ҩык филистимаа ишьит (Аӡб. 14:5, 6, 19). Иегова ицхыраарада уи аҩыза ахаан изыҟаҵарымызт. Излоубарҭоузеи Самсон уи бзианы ишеиликаауаз? Зны зықьҩык филистимаа даныриааи ашьҭахь, иара ӷәӷәала аӡба дакит. Аха иара ихаҭа аӡы дашьҭамлаӡакәа, Иегова диҳәеит (Аӡб. 15:18).

9. Ишԥаҟаиҵеи Иегова Самсон иҳәара аҭак? (Аӡбаҩцәа 15:19).

9 Иегова Самсон иҳәара аҭак ҟаиҵеит, џьашьахәыла аӡы адгьыл иҵыҵит. «Самсон аӡы ижәит, нас игәы шьҭыҵит, имчгьы ҭалеит». (Шәаԥхьа Аӡбаҩцәа 15:19.) Иҟалап акыршықәса рышьҭахь аԥааимбар Самуил ашәҟәы Аӡбаҩцәа аниҩуаз, уи аӡыхь усҟангьы иҟазҭгьы. Уи израильаа иргәаланаршәозҭгьы акәхарын, Иегова гәыкала имаҵ зуа ауадаҩрақәа раан цхыраарада ишнимыжьуа агәра ганы иҟазар шрылшо.

Самсон Анцәа ииҭаз аӡы анижә имч ҭалеит. Убас еиԥш ҳаргьы Иегова иҳаиҭо зегь ҳхы иаҳархәалар, адоуҳатә мчы ҳауеит. (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Иҟаҵалатәузеи Иегова иҟынтә ацхыраара ҳаурц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Ҳаргьы Иегова иҿы ацхыраара ҳашьҭазароуп, иҳалоу аҟазареи ҳаихьӡарақәеи ҳармыхәаԥшӡакәа. Ҳара аԥагьара аамырԥшӡакәа еилаҳкаауазароуп: Иегова ҳаниқәгәыӷуа ауп ақәҿиараҵәҟьа анҳауа. Самсон Анцәа ииҭаз аӡы анижә имч ҭалеит. Убас еиԥш ҳаргьы доуҳала ҳаӷәӷәахоит Иегова иҳаиҭо зегьы ҳхы иаҳархәозар (Матф. 11:28).

11. Излоубарҭахозеи Иегова иҟынтә ацхыраара ҳшақәгәыӷуа? Иаашәга аҿырԥштәы.

11 Ҳахәаԥшып Урыстәыла ашьҭашәарыцара ӷәӷәақәа ирықәшәо аишьцәа иреиуоу Алексеи иҿырԥшы. Ицхраазеи иара доуҳала дыӷәӷәаны аанхара, иҭагылазаашьа шыцәгьазгьы? Иԥшәмаԥҳәыси иареи ашьцылара бзиақәа рымоуп. Алексеи уи абас дахцәажәоит: «Сара... схаҵара арӷәӷәара исыцхраауа аусқәа шьақәыргыланы исымоуп: хаҭалатәи аҭҵаара, насгьы есыҽны Абиблиа аԥхьара. Есышьыжь сыԥшәмеи сареи амш иазалху ажәеинраала еицеилҳаргоит, насгьы Иегова ҳиҳәоит». Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара ҳхы акәымкәа, Иегова ҳиқәгәыӷлароуп. Уи азы ахаҵара ӷәӷәа ҳҭахуп. Иҟаҵатәузеи уи еизҳарҳарц азы? Абиблиа ҭаҳҵаалароуп, Анцәа ҳиҳәалароуп, аизарақәа ҳарҭаалароуп, насгьы ажәабжь ҳҳәалароуп. Убасҟан Иегова ҳџьабаа дазылԥхоит. Анцәа Самсон амч ииҭон, ҳаргьы иҳаиҭоит.

САМСОН ИГӘЫ КАИМЫЖЬӠЕИТ

12. Дызлареиԥшымзи Далила Самсон иԥсҭазаараҿы иқәшәахьаз егьырҭ аҳәса, насгьы избан лара дахьалихыз гха ӷәӷәан ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

12 Самсон ҳара ҳаиԥш инаӡамыз уаҩын, убри аҟынтә зны-зынла ииашамыз аӡбарақәа идикылон. Урҭ руак алҵшәа бааԥс аанагеит. Иара арха Сорек инхоз Далила зыхьӡыз ԥҳәыск бзиа даниба, ӡбаҩыс дыҟеижьҭеи шықәсқәак ҵуан (Аӡб. 16:4). Уи аԥхьа Самсон филистимтәи аԥҳәызба ԥҳәысс лгара игәы иҭан. Уи Иегова инапхгара акәын, избанзар убасҟан Самсон филистимаа рабашьразы алшара иоуан. Ԥыҭрак ашьҭахь филистимтәи ақалақь Газа аҿы Самсон зых пату ақәмыз аԥҳәыс лҿы даангылеит. Уи ауха Анцәа Самсон амч ииҭан, ақалақь зыхьчоз агәашәқәа ҿыхны игеит (Аӡб. 14:1—4; 16:1—3). Аха Далилеи Самсони рҭагылазаашьа даҽакын. Иҟалап уи аԥҳәызба израильтәи аԥҳәыс лакәызҭгьы, убри аҟынтә иареи лареи реизыҟазаашьақәа филистимаа рабашьраҿы акгьы ихәаӡомызт.

13. Дышԥаизныҟәеи Далила Самсон?

13 Филистимаа Далила аԥара ду лырҭеит, Самсон дылҭиирц азы. Лара дааҟәымҵӡакәа Самсон игәы лфон, амч изҭо леиҳәарц азы. Ишԥаихьи Самсон абри аҩыза?! Абзиабара убриаҟара илақәа хнаҩама, Далила лгәы иҭалкыз изеилымкаартә еиԥш? Ишыҟазаалакгьы уи лара лтәы иалыргеит. Самсон ихьыз агха иахҟьаны аамҭала имчи Иегова иразреи ицәыӡит (Аӡб. 16:16—20).

14. Лҵшәас иаанагазеи Самсон Далила лыгәра ахьигоз?

14 Самсон Иегова иакәымкәа, Далила лыгәра ахьигоз алҵшәа бааԥсқәа изаанагеит. Филистимаа дыкны илақәа ҭырхит. Самсон згәашәқәа ҿыхны иигаз ақалақь Газа абахҭа дҭарыжьит. Иара тәыс дҟаҵаны ачарыц идырлагон. Уи ашьҭахь филистимаа рынцәа Дагон акәырбан ду изнаргарц азы еизеит. Дара агәра ргон Самсон дрызҭаз Дагон иоуп ҳәа. Урҭ Самсон абахҭа дҭыганы дааргеит, ргәы дырҿыхарц, ихыччарц азы (Аӡб. 16:21—25).

Иегова Самсон амч ииҭеит филистимаа рганахь ала идиҵаз адҵа анагӡаразы. (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Ишԥааирԥши Самсон дырҩегь Иегова дышиқәгәыӷуа? (Аӡбаҩцәа 16:28—30). (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

15 Самсон агха ӷәӷәа ихьит, аха игәы каижьӡомызт. Иара уаанӡа еиԥш уажәгьы Анцәа идиҵаз адҵа наигӡар иҭахын. (Шәаԥхьа Аӡбаҩцәа 16:28—30.) Убри аҟынтә иара Иегова диҳәеит: «Филистимаа рҿаԥхьа сшьа зурц усыцхраа». Ҳазшаз Анцәа Самсон иҳәара аҭак ҟаиҵеит, зеиԥшыҟамыз амч изирхынҳәит. Уи абзоурала Самсон уаанӡа аасҭагьы еиҳаны филистимаа ишьит.

16. Иаҳнарҵар алшозеи Самсон иҟаиҵаз агха?

16 Самсон иҟаиҵаз агха алҵшәа бааԥс шизаанагазгьы, Иегова игәҭакы анагӡара иҭахын. Убас еиԥш ҳаргьы. Ҳара агхақәа ҟаҳҵозар, насгьы ҳариашатәзар, мамзаргьы аизараҿы аҭакԥхықәрақәа ҳцәыӡуазар, ҳгәы каҳмыжьлароуп. Ишәхашәмыршҭлан Ҳанцәа ҳагхақәа ҳанажьра дшазхиоу (Аԥсал. 103:8—10). Ҳара уаанӡа агхақәа шыҟаҳҵозгьы Иегова иҿыцу адҵақәа ҳаиҭар илшоит, насгьы Самсон амч шииҭаз еиԥш ҳаргьы иҳаиҭоит.

Самсон, ҳәарада, иҟаиҵаз агхақәа дрыхьхәит, аха иара игәы каимыжьӡеит. Ҳаргьы ҳгәы каҳмыжьлароуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 18.)

17, 18. Шәгәы злашьҭнахуазеи Маикл ихҭыс? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Ҳазааҭгылап Маикл зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа дзықәшәаз ахҭыс. Иара Иегова имаҵзура ирацәаны аамҭа азикуан: аизара ацхырааҩыс дыҟан, насгьы пионерс амаҵ иуан. Аха иҟаиҵаз гхак иахҟьаны Маикл аизараҿы инаигӡоз аҭакԥхықәрақәа ицәыӡит. Иара иҳәоит: «Уаанӡа сара амаҵзураҿы иҟасҵоз рацәан, аха иаалырҟьаны зегь сцәыӡит. Ҳәарада, Иегова саанижьызшәа сыгәгьы иаанагаӡомызт. Аха уаанӡа иҳабжьаз аизыҟазаашьа бзиақәа рырхынҳәреи уаанӡа еиԥш амаҵзура аҽалархәреи сылымшар ҳәа сшәон».

18 Аха Маикл игәы каижьӡомызт. Иара еиҭеиҳәоит: «Сара сымчқәа зегьы Иеговеи сареи ҳаиҩызара аиҭашьақәыргылара иазыскит. Сара еснагь сгәы иҭаз зегьы изеиҭасҳәон, Иажәа ҭысҵаауан, насгьы уи сазхәыцуан». Аамҭак ашьҭахь Маикл дырҩегь аизараҿы ахьӡ бзиа иоуит. Уажәы иара аизара ахылаԥшҩыс, насгьы пионерс амаҵ иуеит. Иара иҳәоит: «Сара ирацәаны ацхыраареи агәышьҭыхреи соуит, еиҳараӡак аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә. Уи исеилнаркааит Иегова бзиа сбара дшаҟәымҵыз. Сара дырҩегь исылшоит сыламыс цқьаны аизараҿы аџьабаа абара. Ари ахҭыс иснарҵеит Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа дарбанзаалак дшаанимыжьуа». Ҳаргьы ус ҳзуҳәар алшоит. Агхақәа ҟаҳҵозаргьы, Иегова ҳагәра игалар, насгьы даҳзылԥхалар илшоит, аха уи азы ҳара ҳаҽҳариашалароуп, насгьы анаҩсгьы ҳиқәгәыӷлароуп (Аԥсал. 86:5; Ажәам. 28:13).

19. Ишәгәаԥхазеи еиҳараӡак Самсон иҭоурых аҿы?

19 Ари астатиаҿы ҳара Самсон иԥсҭазаара иалукаартә иҟоу хҭысқәак ҳгәалаҳаршәеит. Иара днаӡаӡамызт, агха дугьы ҟаиҵеит Далила лыгәра анига. Аха иара Иегова имаҵ аура даҟәымҵӡеит. Анцәагьы Самсон дицәхьамҵӡеит. Иара даҽа ус дук аҽалархәрагьы азин ииҭеит. Иегова Самсон ахаҵара ӷәӷәа змаз уаҩны диԥхьаӡон. Уи ус шакәу аанарԥшуеит ихьӡ Ауриацәа рахь 11-тәи ахаҿы Анцәа гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәа рыхьӡқәа ирхыԥхьаӡаланы иахьану. Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи аамҭа цәгьақәа раан ҳацхраара иазхиоу абзиабара злоу жәҩантәи Ҳаб имаҵ аура! Убри аҟынтә шәааи Самсон иеиԥш ҳаргьы Иегова абас ҳиҳәалап: «Сугәаларшәа, насгьы сырӷәӷәа» (Аӡб. 16:28).

АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара

a Самсон. Ари ахьӡ рдыруеит Абиблиа уиаҟара иззымдыруа ауаагьы. Самсон изкны ашәҟәқәеи ажәеинраалақәеи рыҩуеит, афильмқәа ҭырхуеит. Аха уи изку ахҭыс баша аинтерес зҵоу ҭоурыхӡам. Ахаҵара ӷәӷәа аазырԥшуаз уи ауаҩы иҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп.