Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 36

АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит

«Анцәа иажәа нашәыгӡала»

«Анцәа иажәа нашәыгӡала»

«Анцәа иажәа нашәыгӡала, уи азыӡырҩра мацара» адагьы (ИАК. 1:22).

ЕИЛАҲКААУА

Ари астатиа анҭышәҵаалак ашьҭахь есыҽны Абиблиа аԥхьареи, уа иану алабжьарақәа рызхәыцреи, урҭ шәыԥсҭазаараҿы рхархәареи еиҳагьы ишәҭаххоит.

1, 2. Избан Анцәа имаҵзуҩцәа насыԥ зрымоу? (Иаков 1:22—25).

 ИЕГОВА акыр изаԥсоу Иԥеи иареи насыԥ ҳамазарц рҭахуп. Аԥсалом 119:2 аҿы иануп: «Насыԥ рымоуп имҩақәҵарақәа ирықәныҟәо, гәык-ԥсыкала ишьҭоу». Иисус уи азхәыцра даҽазныкгьы иҳәеит: «Насыԥ змоу Анцәа иажәа иазыӡырҩуа, насгьы уи назыгӡо роуп» (Лука 11:28).

2 Иегова ижәлар насыԥ змоу жәларуп. Избан? Амзызқәа рацәоуп. Урҭ руак — есыҽны Абиблиа ҳахьаԥхьо, насгьы еилаҳкаауа ахархәара ҳҽахьазаҳшәо ауп. (Шәаԥхьа Иаков 1:22—25.)

3. Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә лабжьарақәа ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иахьаҳархәо?

3 Анцәа «иажәа [анынаҳагӡо]», уи ҳаԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы ахәарҭа ду ҳзаанагоит. Иаҳҳәап, усҟан ҳара иаҳдыруеит Иегова дышҳаргәырӷьо, убри аҟынтә насыԥ ҳамоуп (Еккл. 12:13). Уи адагьы, абиблиатә лабжьарақәа ҳхы ианаҳархәо ҳҭаацәараҿы ҳаизыҟазаашьақәеи аизараҿы ҳҩызцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи еиҳагьы ибзиахоит, иагьыӷәӷәахоит. Ари абзац шәанаԥхьа, иҟалап иану шәақәшаҳаҭханы шәхы шәырҵысуазар. Уи адагьы, Анцәа изакәанқәа рыла инымхо ауаа зықәшәо ауадаҩрақәа ҳҽырцәыҳахьчоит. Ҳара аҳ Давид ҳиқәшаҳаҭуп. Абар Иегова изакәани, имҩақәҵарақәеи, иӡбарақәеи ирызкны иара ииҳәаз: «Урҭ назыгӡо азылԥхарақәа роуеит» (Аԥсал. 19:7—11).

4. Избан Анцәа Иажәа иану инақәыршәаны анхара мариамзар залшо?

4 Анцәа Иажәа иану инақәыршәаны ҳанхаларц азы Абиблиа ҳаԥхьалароуп, насгьы иҭаҳҵаалароуп. Аха аиаша уҳәозар, ҳара зегьы ҳахьеилахоу иахҟьаны уи азы аамҭа аԥшаара мариаӡам. Убри аҟынтә шәааи ҳалацәажәап есыҽны Абиблиа аԥхьареи, уа иану алабжьарақәа рызхәыцреи, урҭ ҳаԥсҭазаараҿы рхархәареи иҳацхраауа.

АНЦӘА ИАЖӘА АԤХЬАРАЗЫ ААМҬА ШӘЫԤШААЛА

5. Иарбан ихадоу усқәоу ақьырсианцәа рыԥсҭазаараҿы инарыгӡо?

5 Иегова имаҵзуҩцәа даараӡа еилахоу уаауп. Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара еиуеиԥшым аҭакԥхықәрақәа наҳагӡоит. Иаҳҳәап, ҳаиҳараҩык ҳхы, насгьы ҳҭаацәара ныҟәаҳгаларц азы аус ҳуеит (1 Тим. 5:8). Уи адагьы, аӡәырҩы ичмазаҩу ма зықәрахь инеихьоу рҭынхацәа рбоит. Иара убас ҳара зегьы ҳгәабзиара ҳахылаԥшуеит, уигьы аамҭа аҭахуп. Уимоу, аизараҿы ҳара зегьы аҭакԥхықәрақәа ҳадуп, урҭ рҟынтә зегь раасҭа ихадоу ажәабжь бзиа аҳәара ауп. Ишԥаҳалшо, абас ҳшеилахоугьы, Абиблиа аԥхьареи, азхәыцреи, абиблиатә лабжьарақәа рхархәареи рзы аамҭа ҳаԥшаалар?

6. Иҳацхраауазеи Абиблиа аԥхьара шьцыларас аҟаҵара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

6 Филиппаа 1:10 аҿы иануп ҳара есымша «еиҳа ихадоу ал[ҳ]хларц». Абиблиа аԥхьара убарҭ ихадоу аусқәа иреиуоуп. Насыԥ змоу ауаҩы изкны актәи аԥсалом аҿы иануп: «Иара Иегова изакәан далагәырӷьоит, уахгьы-ҽынгьы ибжьы ныҵакны уи даԥхьоит» (Аԥсал. 1:1, 2). Арҭ ажәақәа иҳаилдыркаауеит Абиблиа аԥхьара аамҭа шазалхлатәу. Иарбан аамҭоу амш аҩныҵҟа уи азы еиҳа ианаало? Ҳара зегьы ҳаиԥшӡам, убри аҟынтә иҟаҳҵо аҭакгьы еиԥшхаӡом. Аха Абиблиа есыҽны иаԥхьалатәуп, убри ауп ихадоу. Виктор зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Сара Абиблиа шьыжьымҭанла аԥхьара сгәаԥхоит. Заа агылара шысцәымӷугьы, усҟан еиҳа иҭынчроуп: сыхшыҩ цқьоуп, сзыԥхьогьы схы азысышьҭуеит». Иаҳҳәар ҳалшозеи шәара шәзы? Шәхы шәазҵаа: «Иарбан аамҭоу Абиблиа аԥхьаразы сара еиҳа иснаало?»

Иарбан аамҭоу Абиблиа аԥхьаразы зегь раасҭа исзыманшәалоу? Исылшома уи аамҭазы есыҽны Абиблиа аԥхьара? (Шәахәаԥш абзац 6.)


ШӘЗЫԤХЬАЗ ШӘАЗХӘЫЦЛА

7, 8. Избан Абиблиа ҳаԥхьозаргьы, уи хәарҭа ҳзаанамгалар залшо? Иаажәга аҿырԥштәы.

7 Ҳара иахьа ирацәаны аинформациа ҳаҳауеит, аха уи зегь гәнаҳкылаӡом. Зны акы шәаԥхьеит, аха мышқәак рышьҭахь ианшәызҵаа акгьы шәгәалашәаӡомызт. Иҟалахьоума уи аҩыза? Ус змыхьыц дыҟаӡам. Абиблиа ҳанаԥхьогьы убас ҳахьыр алшоит. Иҟалап шәара есыҽны шаҟа хы шәаԥхьало ӡбаны ишәымазар. Уи даараӡа ибзиоуп. Ҳара зегьы ахықәкқәа ықәыргыланы, урҭ наҳагӡалар ҳахәҭоуп (1 Кор. 9:26). Анцәа Иажәа аԥхьара хықәкы бзиоуп, аха уи аҿы ҳаанымгылалароуп. Абиблиа иану еиҳа ахәарҭа ҳзаанагаларц азы, уи аԥхьара мацара азхаӡом, иҟаҵатәу даҽакгьы ыҟоуп.

8 Шәазхәыц абри аҩыза аҿырԥштәы. Аҵиаақәа аӡы ада ԥсыхәа рымаӡам. Абжьааԥны уи ақәа анауа ауп ианроуа. Аха аамҭа кьаҿк иалагӡаны ирацәаны ақәа аузар, адгьыл аӡы ықәтәоит. Уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы аӡы аҵиаақәа хәарҭас ҳәа акгьы рзаанагаӡом. Адгьыл иаиуз аӡы ажәырц азы аамҭа аҭахуп. Убас еиԥшҵәҟьа ирацәаны ҳаԥхьандаз ҳәа Абиблиа ҳаццакы-ццакуа ҳаԥхьозар, уи ҳгәаҟынӡа инеиӡом, иҳазгәынкылаӡом, ҳаԥсҭазаараҿгьы ҳхы иаҳзархәаӡом (Иак. 1:24).

Адгьыл иаиуз аӡы ажәырц азы аамҭа аҭахуп. Убас еиԥшҵәҟьа ҳаргьы Анцәа Иажәаҿы ҳзыԥхьаз ҳазхәыцырц, насгьы уи ҳхы иаҳархәарц азы аамҭа ҳҭахуп. (Шәахәаԥш абзац 8.)


9. Иҟашәҵар шәылшои Абиблиа шәыццакцәаны шәшаԥхьо гәашәҭазар?

9 Игәашәҭахьоума зны-зынла Абиблиа шәаԥхьарц азы шәантәо, шәыццакцәаны аԥхьара шәшалаго? Иҟашәҵар шәылшои ус шәыхьуазар? Шәаангыланы, шәмыццакӡакәа аԥхьара шәалага. Ишәхашәмыршҭлан, хықәкыс ишәымоу цыԥҵәахак аԥхьара мацара акәӡам, шәзыԥхьаз азхәыцрагьы аҭахуп. Шьоукы ажәа «азхәыцра» анраҳауа, уи уадаҩушәа ргәы иаанагоит. Аха уи ус акәӡам. Шәааҭгыланы уажәы шәзыԥхьаз шәхаҿы аагара ауп иаҭаху. Уи аԥхьара шәанаҿу ма шәаԥхьаны шәаналгалак ашьҭахь иҟашәҵар шәылшоит. Иҟалап шәара шәзыԥхьаз азхәыцра шәахьӡарц азы аҭҵаара иазалшәхыз аамҭа иацышәҵарц шәҭаххар. Аха аҭҵаара еиҳаны аамҭа азкра шәылымшозар, еиҳа имаҷны ажәеинраалақәа шәрыԥхьалар шәылшоит. Виктор иҳәоит: «Сара хык еиҳаны саԥхьаӡом. Абиблиа шьыжьымҭанла саԥхьоит аҟынтә, амш аҩныҵҟа сзыԥхьаз сазхәыцлар сылшоит». Иалшәхуа азнеишьа зеиԥшразаалакгьы, шәзыԥхьаз азхәыцразы аамҭа алхра ауп ихадоу (Аԥсал. 119:97; шәахәаԥш арамка « Азхәыцразы азҵаарақәа»).

10. Иҳацхраауазеи Абиблиаҿы ҳзыԥхьо ахархәара? Иаажәга аҿырԥштәы (1 Фессалоникаа 5:17, 18).

10 Иаҳҳәап, Абиблиа шәанаԥхьалаша, насгьы шаҟа хы шәаԥхьало шьақәшәыргылеит. Анаҩстәи ашьаҿа — еилышәкааз ахархәара ауп. Цыԥҵәахак шәанаԥхьалак ашьҭахь шәхы шәазҵаа: «Ишԥасыхәо сзыԥхьаз иахьа ма аԥхьаҟа?» Иаҳҳәап, 1 Фессалоникаа 5:17, 18 (шәаԥхьа) шәаԥхьеит. Шәара шәаангыланы шәхәыцуеит: «Шаҟа лассы-лассы Анцәа сиҳәои, насгьы сыҳәарақәа гәыкала иҟоума?» Анаҩс шәара ишәгәалашәоит изакәазы Иегова ҭабуп ҳәа иашәҳәар шәҭаху, иаразнак ус иагьыҟашәҵоит. Иаҳҳәап, иалкааны х-ҳамҭак рзы. Шәазхәыц иҟалаз: минуҭқәак рыла Иегова Абиблиа ала ишәеиҳәаз шәаҳаит, насгьы иаразнак уи шәықәныҟәеит. Шәхаҿы иаажәг убас есыҽны иҟашәҵалар, уи шаҟа хәарҭа шәзаанагало. Шәара Анцәа Иажәа инақәыршәаны ахымҩаԥгара еиҳа-еиҳа еиӷьны ишәзалҵлоит. Аха иҟашәҵар шәылшои аус здыжәулаша рацәахеит ҳәа шәгәы иаанагозар?

ШӘЫМЧ ЗЫҚӘХО АХЫҚӘКҚӘА ЫҚӘШӘЫРГЫЛАЛА

11. Избан зны-зынла ҳгәы каҳалар залшо? Иаажәга аҿырԥштәы.

11 Шәара Абиблиа шәанаԥхьо, насгьы иԥсахтәу шаҟа ирацәоу анеилышәкаауа шәгәы каҳалар ауеит. Абар уи ҟалар шалшо. Иахьа Абиблиаҿы шәаԥхьоит ауаа еилаҳамхлар шҳахәҭоу (Иак. 2:1—8). Шәара ауаа шәышрызныҟәо аус адыжәуларц шәыӡбоит. Уи хықәкы бзиоуп. Уаҵәы шәаԥхьоит ҳцәажәашьа ҳацклаԥшлар шҳахәҭоу (Иак. 3:1—12). Шәара еилышәкаауеит зны-зынла шәажәақәа ақьиара шрыҵам, насгьы угәы шьҭырхыртә ишыҟам. Уигьы аус адыжәуларц шәыӡбоит. Уаҵәашьҭахь Абиблиаҿы шәаԥхьоит ари адунеи бзиа абара шҳахәҭам (Иак. 4:4—12). Усҟан еилышәкаауеит агәырҿыхагақәа аналшәхуа еиҳа аҟәыӷара аашәырԥшлар шшәыхәҭоу. Аԥшьбатәи амш аҽны иԥсахтәу шаҟа ирацәоу анеилышәкаалак шәхы чуеит.

12. Избан Абиблиа шәанаԥхьо ишәыԥсахша шырацәоу жәбозар, шәгәы кашәмыжьлар зшәыхәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

12 Аус здыжәулаша шырацәоу гәашәҭазар, шәгәы кашәмыжьын. Абиблиа шәанаԥхьо аус здыжәулаша шәахьазхәыцуа азы еиҳагьы арҽхәара шәаԥсоуп a. Уи иаанагоит шәгәы шыцқьоу, ахынраалара шшәылоу, насгьы ишәыгу шышәымҵәахуа. Иара убас ишәхашәмыршҭлан «цәаҩа ҿыцла» шәҽеилашәҳәарц азы аамҭа шаҭаху, аџьабаагьы еснагь ишбалатәу (Кол. 3:10). Ишәыцхраауазеи анаҩсгьы Анцәа Иажәа иану анагӡара?

13. Ҳзызхәыцыр акәзеи ахықәкқәа анықәҳаргыло? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Шәзыԥхьаз зегьы знык ала схы иасырхәоит ҳәа шәаламган. Ишәылшо дырны, амцхә ахықәкқәа ықәшәмыргылан (Ажәам. 11:2). Иаҳҳәап, абас ҟашәҵа: аус здыжәулар шәҭаху аҟазшьақәа рсиа шьақәыргыланы, акы-ҩба пункт алшәх, егьырҭ даҽазны азы иншәыжь. Шәызлалагар шәылшои?

Еилышәкааз зегь иаразнак шәхы иашәырхәароуп ҳәа шәымхәыцлан, шәымч зықәхо ахықәкқәа ықәшәыргылала. Иаҳҳәап, акы-ҩба пункт алшәх, насгьы урҭ аус рыдыжәулала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)


14. Иарбан хықәкқәоу шәызлалагар шәылшо?

14 Шәара ишәылшоит зегь раасҭа имариоу ма еиҳа аус зыдулатәу ахықәкы ала шәалагар. Ахықәкы аналшәхлак, ҳпубликациақәа рыла аҭҵаара мҩаԥыжәга, иаҳҳәап, «Индекс публикаций Сторожевой башни», ма «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы» ала. Шәхықәкы Иегова изеиҭашәҳәа, насгьы «агәаҳәареи амчи [шәиҭарц]» шәиҳәала (Флп. 2:13). Анаҩс еилышәкааз шәхы иашәырхәала. Иқәшәыргылаз ахықәкы анагӡараҿы ақәҿиара шшәымоу аныжәбалак, иҟалап даҽа хықәкык ацышәҵарц шәҭаххар. Аҽыԥсахра мамзаргьы қьырсиантә ҟазшьак аизырҳара шшәылшаз аныжәбалак, уи анаҩсгьы шәхы аус адулара шәгәазҭанаҵоит. Уажәшьҭа уи еиҳагьы ишәзымариахар алшоит.

АНЦӘА ИАЖӘА ШӘЫЦХРААЛААИТ

15. Излареиԥшымзеи Иегова имаҵзуҩцәа Абиблиа иаԥхьо егьырҭ ауаа? (1 Фессалоникаа 2:13).

15 Шьоукы Абиблиа акырынтә иахьаԥхьахьоу иахыҽхәоит. Аха агәра ргома дара уа иану? Рхы иадырхәома уа иану алабжьарақәа, насгьы ианыруама уи рыԥсҭазаара? Аҭагылазаашьақәа реиҳарак рҿы мап. Аха Иегова имаҵзуҩцәа Анцәа Иажәа зынӡа даҽакала иазыҟоуп. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа реиԥш ҳаргьы «иара шыҟаҵәҟьоу — Анцәа иажәа еиԥш [иҳадаҳкылеит]». Уи адагьы, ҳара уи ҳаԥсҭазаара ишаныруа зегьы ирбарҭахартә еиԥш анхара ҳҽазаҳшәоит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа 2:13.)

16. Иҳацхраауазеи Анцәа Иажәа иану анагӡара?

16 Ааи, Анцәа Иажәа аԥхьареи ахархәареи анымариамгьы ыҟоуп. Уи аԥхьаразы аамҭа аԥшаара ҳцәыцәгьазар алшоит, мамзаргьы ҳзыԥхьо ҳазымхәыцӡакәа, ҳаццакцәаны аԥхьара шьцыларас иҳамазар ауеит. Иара убас ҳҽыҳаԥсахыр ахьҳахәҭоу шырацәоу анаҳбо, ҳгәы каҳауазар алшоит. Ҳара уадаҩрас иҳамазаалакгьы, Иегова ицхыраарала уи ҳаиааир ҳалшоит. Шәааи уи ицхыраара ҳадаҳкылалап. Иҳаҳауа ҳхамыршҭӡакәа Анцәа Иажәа иану наҳагӡалап. Абиблиа шаҟа ҳаԥхьало, насгьы уа иану алабжьарақәа шаҟа ҳхы иаҳархәало аҟара агәырӷьара ҳамазаауеит (Иак. 1:25).

АШӘА 94 Аџьшьара ааҳарԥшуеит Анцәа Иажәазы

a Асаит jw.org аҿы шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Уқәлацәа ирҳәо. Абиблиа аԥхьара».