АҴАРАЗЫ АСТАТИА 39
АШӘА 125 «Бзазара рымоуп арыцҳашьара злоу»
«Аӡәы... ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп»
«Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» (АУС. 20:35).
ЕИЛАҲКААУА
Иааҳарԥшуа агәыҭбаара агәырӷьара ишадҳәалоу.
1, 2. Иарбан иџьашьахәу лшароу Иегова ҳанишоз иҳалаиҵаз?
ҲАРА аӡәы ак анизыҟаҳҵо насыԥ ҳамоуп. Уи ҳара ак анаҳзыҟарҵо аасҭагьы агәырӷьара ҳзаанагоит (Аус. 20:35). Ус Иегова иоуп ҳазшаз. Иаанагома уи аҳамҭақәа риура ҳгәаԥхаӡом ҳәа? Ишԥаҳгәамԥхо?! Аха аӡәы ак анизыҟаҳҵо, уи еиҳа агәырӷьара ҳзаанагоит. Шаҟа ибзиоузеи убас ҳахьшоу! Избан?
2 Ҳара анасыԥ ҳамазаауоу-иҳамамзаауоу ҳхаҭа иҳаӡбоит. Еиҳа агәырӷьара ҳамазарц азы егьырҭ абзиарақәа рзыҟаҳҵалар ауп. Иегова убас ҳаишеит. Шаҟа ибзиоузеи уи! (Аԥсал. 139:14).
3. Избан Иегова «насыԥ змоу Анцәа» ҳәа зизҳәоу?
3 Абиблиаҿы иануп аӡәы ак анизыҟаҳҵо, уи анасыԥ шаҳзаанаго. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам Иегова «насыԥ змоу Анцәа» ҳәа ахьизҳәоу (1 Тим. 1:11). Иегова иоуп адунеи аҿы зегь раԥхьа аҳамҭақәа рыҟаҵара иалагаз, иара иеиԥш згәы ҭбаау дыҟаӡам. Апостол Павел иҳәеит: «Иара илоуп ҳара ҳаԥсы злаҭоу, ҳазланеи-ааиуа, ҳазлаҟоу» (Аус. 17:28). Ааи, «инаӡоу аҳамҭа бзиақәа» Иегова иҟынтә ауп ишҳауа (Иак. 1:17).
4. Иҳацхраауазеи еиҳаны агәырӷьара аиура?
4 Ишәҭахума шәара аӡәы ак анизыҟашәҵо уи еиҳа агәырӷьара шәзаанагаларц? Ус акәзар, згәы ҭбаау Ҳанцәа Иегова шәиҿыԥшла (Еф. 5:1). Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова ауаа дреиҷаҳаларц азы иҟаиҵо. Иара убас ҳара ҳалацәажәоит иааҳарԥшуа ақьиара ахә рымшьошәа ҳгәы иабозар, иҟаҳҵар ҳалшо. Уи амч ҳнаҭоит, аԥхьаҟагьы абзиара аҟаҵара иҳацхраауеит. Убасала еиҳагьы анасыԥ ҳауеит.
ИЕГОВА ИЕИԤШ ШӘГӘЫ ҬБААЗ
5. Иҳамоузеи Иегова ибзоурала?
5 Ишԥааирԥшуеи Иегова агәыҭбаара? Абар ҿырԥштәқәак. Иегова аԥсҭазааразы иаҳҭаху зегь ҳаиҭоит. Уи иаанагаӡом зынӡа акгьы ҳаргәаҟӡом ҳәа. Аха Иегова ибзоурала зда ԥсыхәа ыҟам зегь ҳамоуп. Иаҳҳәап, иара афатәи, ашәҵатәи, ахыҵакырҭеи ҳамазарц дахылаԥшуеит (Аԥсал. 4:8; Матф. 6:31—33; 1 Тим. 6:6—8). Избан Иегова абри зегь заҳзыҟаиҵо? Уалс иахьиԥхьаӡо мацара азы аума? Ҳәарада, мап. Нас, избан?
6. Иаҳнарҵозеи Матфеи 6:25, 26 иану?
6 Иегова бзиа ҳаибоит, убри азоуп дызҳаиҷаҳауа. Иаҳгәалаҳаршәап Матфеи 6:25, 26 (шәаԥхьа) аҿы иану Иисус иажәақәа. Аҵарақәа рыӡбахә аниҳәоз, иара абас иҳәеит: «Дара ак ларҵом, ак ҭаргалом, ацагьы ак ҭарыԥсом, аха жәҩантәи Шәаб урҭ акрырҿеиҵоит». Анаҩс Иисус иаҵшьны иазгәеиҭеит: «Шәара еиҳагьы шәаԥсаӡами?» Иарбан лкаау иҟаҳҵар ҳалшо? Иегова аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи раасҭа имаҵзуҩцәа рыхә ишьоит. Иара аҵарақәа абас дреиҷаҳауазар, ҳара дшаҳхылаԥшуа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Иегова абзиабара злоу Аб иоуп. Убри аҟынтә иара ихәыҷқәа акрырҿеиҵоит, акрыдиржәуеит, насгьы еилеиҳәоит (Аԥсал. 145:16; Матф. 6:32).
7. Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшны ацхыраара зҭаху ҳрыцхраалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
7 Ҳаргьы Иегова ҳаиҿыԥшны абзиабара аус аҿы иааҳарԥшлар ҳалшоит. Уеизараҿы афатә ма ашәҵатәы зҭаху аӡәыр дыҟоума? Иегова уара ула уи аиашьа ма аиаҳәшьа дицхраар илшоит. Рыцҳарак аныҟало Иегова ижәлар ирласны ацхыраара ҟазҵо реиԥш еицырдыруеит. Иаҳҳәап, апандемиа COVID-19 аан аишьцәеи аиҳәшьцәеи афатәи ашәҵатәи змамыз ирымаз рыцеиҩыршон. Уи адагьы, аӡәырҩы агәыҭбаара аарԥшны адунеизегьтәи аус азы хатәгәаԥхарала аԥара аларҵон. Уи ҳорганизациа адунеи зегь аҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара рылнаршон. Убас иубарҭан аишьцәеи аиҳәшьцәеи Ауриацәа 13:16 аҿы иану ажәақәа ишрықәныҟәо. Уа иануп: «Абзиара аҟаҵареи ишәымоу егьырҭ рыцеиҩшареи шәхашәмыршҭлан, избанзар ус еиԥш иҟоу акәырбанқәа Анцәа игәы иахәоит».
8. Избан Иегова имч ахьшәиҭо ахә ҳаракны изышәшьо? (Филиппаа 2:13).
8 Иегова амч ҳаиҭоит. Иегова иаҟара амч змоу аӡәгьы дыҟаӡам. Иара имч изиашоу имаҵзуҩцәа дгәырӷьаҵәа ирыцеиҩишоит. (Шәаԥхьа Филиппаа 2:13.) Шәара хыхрак шәаҿагыларц, мамзаргьы ԥышәара ӷәӷәак шәхыжәгарц азы зныкыр амч шәаҳәахьоума? Мамзаргьы даҽа мышкы схызгандаз ҳәа зныкыр Анцәа шәиҳәахьоума? Иегова шәыҳәарақәа рҭак аныҟаиҵоз апостол Павел иажәақәа шәгәалашәазар ҟалап. Иара иҳәеит: «Амч сызҭо ибзоурала сара зегь схызгар сылшоит» (Флп. 4:13).
9. Ишԥаҳалшо ҳамч ҳхы ианаҳархәо Иегова ҳаиҿыԥшлар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
9 Ҳара Иегова имоу амч аҟара амч ҳамаӡам, насгьы уи егьырҭ иҳазрыцеиҩшаӡом. Аха ҳара иҳалшоит егьырҭ рзы ак ҟаҳҵарц азы ҳамч ҳхы иаҳархәалар. Иаҳҳәап, ишәылшома зықәрахь инеихьоу ма ичмазаҩу иашьак ма иаҳәшьак шәрыцхраар? Дара адәқьан ахь изымцозар, шәара шәцаны афатә рзаашәхәар шәылшоит, аҩнуск рзыҟашәҵар ауеит, мамзаргьы даҽакала шәрыцхраар шәылшоит. Ҳҭагылазаашьа иҳалнаршозар, Аҳратә зал аилыргареи ахылаԥшреи ҳхы алаҳархәыр ауеит. Ҳамч убас ҳхы иархәаны Иегова бзиа дызбо рзы ирацәаны абзиарақәа ҟаҳҵалоит.
10. Ишԥаҳалшо аӡәы игәы шьҭаҳхырц азы ажәақәа ирымоу амч ҳхы иаҳархәар?
10 Иара убас ишәхашәмыршҭлан ажәақәагьы амч шрымоу. Иҟалап арҽхәара зҭаху аӡәы иаразнак шәхаҿы дааизар, мамзаргьы згәы шьҭыхтәу аӡәы дышәгәалашәазар. Ауаҩы изхәыцра мацара аҿы шәаанымгылан шәгәы иҭоу ажәа ҟәандақәа шәҳәа. Шәара ишәылшоит уи ауаҩ иахь сасра шәнеир, аҭел шәизасыр, аоткрытка ак анҵаны ишәҭар, мамзаргьы СМС-аацҳара изышәышьҭыр. Ажәа ԥшӡақәа шәхахьы имааиуазар, уи хьаас иҟашәымҵан. Аӡәы игәы ашьҭыхразы гәыкала иҳәоу ажәак-ҩажәак азхар ауеит. Иҟалап ауаҩы убри мацара акәызҭгьы ииҭахыз, игәалаҟазаара шьҭыҵны даҽа мышкгьы Иегова дизиашаны даанхарц азы (Ажәам. 12:25; Еф. 4:29).
11. Ихы ишԥаирхәо Иегова иҟәыӷара?
11 Иегова аҟәыӷара ҳаиҭоит. Иаков иҩит: «Аӡәы аҟәыӷара шизымхо ибозар, Анцәа уи ииҭарц диҳәалааит, избанзар Анцәа уи азы иҳәо зегьы ҽԥныҳәа рымҭаӡакәа, гәыҭбаарала ириҭоит» (Иак. 1:5). Арҭ ажәақәа иаҳдырбоит Иегова иҟәыӷара шаҳцәимҵәахуа. Иара уи гәыҭбаарала егьырҭ ирыцеиҩишоит. Уи «ҽԥныҳәада» иҟаиҵоит. Иегова ацхырааразы ҳахьиҳәо азы ахаан ҳирԥхашьаӡом, насгьы дҳацәҳаӡом. Иара ихаҭа иҭахуп алабжьаразы ҳиҳәаларц (Ажәам. 2:1—6).
12. Ишԥаҳалшо иҳамоу аҟәыӷара егьырҭ ирыцеиҩаҳшалар?
12 Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшны иҳамоу аҟәыӷара егьырҭ ирыцеиҩаҳшалар? (Аԥсал. 32:8). Иаҳдыруа дҳарҵалар. Иаҳҳәап, ҳара иҿыцу ажәабжьҳәаҩцәа ажәабжь рҳәалар шрылшо дҳарбоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа ачҳара аарԥшны аизара ацхырааҩцәеи аӡы иӡааху егьырҭ аишьцәеи аизараҿы еиуеиԥшым адҵақәа рынагӡашьа ддырҵоит. Ҳорганизациа иатәу ахыбрақәа рыргылареи рхылаԥшреи рҿы аԥышәа змоу егьырҭгьы уи аус ибзианы анагӡашьа ддырҵоит.
13. Ишԥаҳалшо егьырҭ ак аныдҳарҵо Иегова ҳаиҿыԥшлар?
13 Ҳара егьырҭ ак аныдҳарҵо Иегова ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп. Иара иҟәыӷара ҳцәиҵәахӡом. Убасҵәҟьа ҳаргьы иҳамоу адыррақәеи аԥышәеи егьырҭ гәыкала ирыцеиҩаҳшалароуп. Ҳара ак зҳарҵо ҳҭыԥ ааныркылоит ҳәа ҳшәаӡом. Насгьы абас ҳхәыцӡом: «Сара аӡәгьы исимырҵаӡеит, даргьы зегь рхала ирҵааит». Ус ахәыцра иашаӡам. Иегова имаҵзуҩцәа ирымоу адыррақәа игәырӷьаҵәа егьырҭ ирыцеиҩыршоит, уимоу дара «рхы-рыԥсы [ҳаҭара]» иазхиоуп (1 Фес. 2:8). Ҳара аҵара зҳарҵо рхаҭақәагьы «егьырҭ иддырҵартә иҟалоит» ҳәа ҳгәыӷуеит (2 Тим. 2:1, 2). Ҳара иҳалоу аҟәыӷара егьырҭ ирыцеиҩаҳшалар, егьырҭгьы ҳара иҳацеиҩыршалар, даргьы ҳаргьы еиҳа ҳҟәыӷахоит, насыԥгьы ҳамазаауеит.
ИҞАҲҴАЗ АБЗИАРА ПАТУ АҚӘРЫМҴАЗШӘА ҲГӘЫ ИАНАБО
14. Иҟарҵозеи аӡәырҩы аӡәы бзиарак анырзыҟаиҵалак?
14 Ҳара аӡәы ак анизыҟаҳҵо, еиҳараӡак ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы акәзар, лассы-лассы ҭабуп ҳәа ҳарҳәоит. Дара аоткрыткак ҳарҭар ма даҽакала аџьшьара аадырԥшыр ауеит (Кол. 3:15). Ҳәарада, ҭабуп ҳәа анҳарҳәо, уи ҳгәы ҟанаҵоит.
15. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи иҟаҳҵаз абзиаразы ҭабуп ҳәа ҳарымҳәазар?
15 Аха иҟаҳҵаз абзиаразы ҭабуп ҳәа ҳарымҳәаргьы алшоит. Иаҳҳәап, ауаҩы шәаамҭеи, шәымчи, шәԥареи иқәшәырӡит, аха уи ахә имшьазшәа жәбеит. Иҟашәҵар шәылшозеи уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы агәырӷьара шәцәымӡырц, насгьы ауаа шәгәы рхымшәарц азы? Ишәгәалашәыршәа ари астатиа иазалху ажәеинраала, Аусқәа 20:35. Ҳара насыԥ ҳамазаауоу-иҳамамзаауоу ҳхаҭа иҳаӡбоит. Ҳара ауаҩы изыҟаҳҵаз абзиара ахә ишьазаргьы-имшьазаргьы, абзиара шыҟаҳҵаз дырны ҳгәырӷьалар ҳалшоит. Шәааи ҳалацәажәап уи аҿы иҳацхраауа.
16. Избан аӡәы ак анизыҟаҳҵо Иегова ҳаиҿыԥшлар зхадоу?
16 Иегова шәиҿыԥшла. Иара ауаа зегьы дырхылаԥшуеит, дара уи ахә ршьозаргьы-ирымшьозаргьы (Матф. 5:43—48). Иегова ажәа ҳаиҭеит ҳуал дыргьежьуеит ҳәа ҳазымԥшӡакәа абзиара ҟаҳҵалар, «аҳамҭа ду» шҳаиҭо (Лука 6:35). Ари ажәеинраалаҿы «шәуал дыргьежьуеит ҳәа шәазымԥшӡакәа» ҳәа еиҭагоу ажәақәа рҭыԥан аоригинал бызшәаҿы ажәақәа «акгьы шәазымԥшӡакәа» гылоуп. Акгьы иаанаго акымзар акы ауп, ҭабуп аҳәарагьы уахь иналаҵаны. Уи ауаа рҟынтә иҳаҳаргьы-иаҳмаҳаргьы, Иегова ҳус бзиақәа рзы хымԥада даҳзылԥхоит (Ажәам. 19:17). Избанзар иара «дгәырӷьаҵәа егьырҭ ак рызҭо ауаҩы» бзиа дибоит (2 Кор. 9:7).
17. Иарбан принципу аус бзиақәа рыҟаҵара иҳацхраауа? (Лука 14:12—14).
17 Иара убас Лука 14:12—14 (шәаԥхьа) иану апринцип ҳхаҳмыршҭлар ауп. Ҳара ҳахь асасдкылареи ақьиареи аазырԥшыр зылшо сасра иааҳаԥхьозар, насгьы бзиарак рзыҟаҳҵозар, уи цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам. Аха иҟаҵатәуи, аӡәы ак анизыҟаҳҵо, ҳаргьы ак ҳзыҟаиҵароуп ҳәа лассы-лассы ҳшазыԥшу гәаҳҭозар? Уи аҩыза ахәыцшьа ҳамазар, Иисус илабжьара ҳхы иаҳархәар хадоуп. Ҳара сасра ааԥхьара иаҳҭар ҳалшоит ааԥхьара ҳаҭара алшара змам ауаҩы. Убасҟан Иегова ҳшиҿыԥшуа дырны агәырӷьара ҳамазаауеит. Ари апринцип ҭабуп ҳәа анҳарымҳәогьы агәырӷьара амырӡра иҳацхраауеит.
18. Иҟаҳҵар ҳалшозеи егьырҭ ҭабуп аҳәашьа рыздырӡом ҳәа ҳамхәыцларц азы?
18 Егьырҭ ҭабуп аҳәашьа рыздырӡом ҳәа шәымхәыцлан (1 Кор. 13:7). Аӡәы бзиарак анизыҟашәҵа ҭабуп ҳәа шәеимҳәазар, шәхы шәазҵаа: «Ауаҩы ҭабуп аҳәашьа изымдырҵәҟьоу, мамзаргьы уи аҳәара ихашҭу?» Иҟалап ауаҩы ҳара ҳашгәыӷуаз еиԥш акәымкәа, даҽакала ихы зымҩаԥигаз амзызқәа ыҟазар. Шьоукы ргәы џьшьарала иҭәуп, аха уи шаадырԥшра рыздырӡом. Дара ацхыраара адкылара иацәыԥхашьозар ауеит, избанзар абжьааԥны дара роуп аӡәы ицхраауа. Ишыҟазаалакгьы, ақьырсиантә бзиабара ааҳарԥшлар, абзиара ҳазхәыцлоит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҭабуп аҳәашьа рыздырӡом ҳәа рзаҳҳәалаӡом. Убасҟан егьырҭ ҳанрыцхраало агәырӷьара ҳарӡлаӡом (Еф. 4:2).
19, 20. Ишԥаҳацхраауеи ачҳара агәырӷьара амырӡра, аӡәы бзиарак анизыҟаҳҵо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
19 Ачҳара аашәырԥшла. Аҳ Соломон зны абас иҳәеит: «Уча аӡы ихҵаны ишьҭла, избанзар акырымш рышьҭахь уи дырҩегь иуԥшаауеит» (Еккл. 11:1). Ари ажәеинраала ишаҳнарбо еиԥш, абзиара ззыҟаҳҵаз ауаҩы ҭабуп ҳәа ҳаиҳәаанӡа аамҭак бжьысыр ауеит. Абар ҳаҳәшьак дзықәшәаз ахҭыс уи шаҳнарбо.
20 Акыршықәса раԥхьа араион хылаԥшҩык иԥшәма ааигәа аӡы зыҽӡаазхыз иаҳәшьак аоткрытка лзылҩит, уа Иегова дизиашаны даанхаларц лгәазҭалҵеит. Аабаҟа шықәса рышьҭахь лара лысаламшәҟәы аҭак лоуит. Уи абас иалагон: «Бара бхаҿгьы ибзаамгозар ҟалап арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа исзыбҩыз ажәақәа шаҟа сгәы шьҭырхуаз». Анаҩс уа ианын: «Бажәақәа сгәы дырԥхеит. Аха еиҳараӡак амч сызҭоз уа ианыбҵаз ажәеинраала ауп a. Сара уи ахаан исхашҭӡомызт». Аиаҳәшьа дзықәшәоз уадаҩрақәак еиқәылыԥхьаӡан, абас лҳәеит: «Зны-зынла исыдыз аҭакԥхықәрақәа зегь аансыжьыр сҭахын, аҵабырггьы касыжьыр анысҭахыз ыҟан. Аха сгәы кыдгылацыԥхьаӡа уи ажәеинраала схахьы иааиуан, насгьы сгәы шьҭнахуан». Аҵыхәтәаны лара абас анылҵеит: «Арҭ аашықәса рыҩныҵҟа бара исзыбҩыз аоткрыткеи уа исзаныбҵаз ажәеинраалеи реиԥш сгәы шьҭызхуаз ак ыҟамызт». Шәхаҿы иаажәг араион ахылаԥшҩы иԥшәма акырымш рышьҭахь лысаламшәҟәы аҭак анлоу, шаҟа деигәырӷьаз! Иҟалап ҳаргьы ҳус бзиақәа рзы аамҭак ашьҭахь ҭабуп ҳәа ҳарҳәар.
21. Избан Иегова агәыҭбаара аарԥшраҿы шәиҿыԥшлар зышәҭаху?
21 Ари астатиа алагамҭаҿы ишҳәаз еиԥш, Иегова ҳаишеит аӡәы ак анҳаиҭо аасҭа, наҟ ак аниаҳҭо еиҳа агәырӷьара ҳаулартә еиԥш. Акыр иаҳзаԥсоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиарак анырзыҟаҳҵо, ҳгәы иахәоит. Уи азы ҭабуп ҳәа анҳарҳәогьы ҳгәы ҟанаҵоит. Аха ҭабуп ҳәа ҳарҳәозаргьы-иҳарымҳәозаргьы ҳара агәырӷьара ҳамоуп, избанзар иҟаҳҵо шиашоу ҳдыруеит. Ахаан ишәхашәмыршҭлан егьырҭ ирзыҟашәҵо закәызаалакгьы, «Иегова акырӡа еиҳаны и[шә]иҭар [шилшо]» (2 Аш. 25:9). Иара иаҟара згәы ҭбаау аӡәгьы дыҟаӡам! Иегова ихаҭа ҭабуп ҳәа анҳаиҳәо аасҭа еиӷьу акрыҟоума? Убри аҟынтә шәааи анаҩсгьы згәы ҭбаау жәҩантәи Ҳаб ҳаиҿыԥшлап!
АШӘА 17 «Исҭахуп»
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Араион ахылаԥшҩы иԥшәма иаҳәшьак лгәы шьҭылхырц азы аоткрытка лзылыҩуеит. Ашықәсқәа рышьҭахь лара уи аиаҳәшьа лҟынтә ҭабуп ҳәа ахьлалҳәо асаламшәҟәы лоуит. (Асахьақәа аишьцәа иқәдыргылеит.)