ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА
Абиблиа анҭышәҵаауа иҿыцу акы аилкаара шәҽазышәшәала
Абиблиа аҭҵаара шәалагаанӡа еилышәкаарц ишәҭаху шәазхәыц. Аха убри аамҭазгьы ишәхашәмыршҭлан Иегова шәзыԥхьо аматериал аҿы шәшақәымгәыӷуа иҿыцу ак шәзааиртыр шилшо. Убри аҟынтә иҿыцу ак аилкаара шәазхиаз. Ишәыцхраауазеи уи аҿы?
Анцәа аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала. Иегова уажәы ишәирҵарц ииҭаху абара дшәыцхраарц шәиҳәала (Иак. 1:5). Шәзыԥхьо атема бзианы ижәдыруазаргьы, ишәзымдыруа ак шыҟоугьы шәхашәмыршҭлан (Ажәам. 3:5, 6).
Абиблиа амч ду шамоу шәхашәмыршҭлан. «Анцәа иажәа аԥсы ҭоуп» (Аур. 4:12). Убри аҟынтә Абиблиа ҳаԥхьацыԥхьаӡа иҿыцу ак ҳнарҵар алшоит. Аха уи азы иаҳнарҵо адкылара ҳазхиазароуп.
Иегова ишәирҵо зегьы ахә шәшьала. Анцәа иҳаиҭо адоуҳатә фатә «фатәыла иҭәу ачара ду» иеиԥшуп (Ис. 25:6). Убри аҟынтә темақәак шәгәамԥхозаргьы, ргьама жәба. Иҟалап иџьашәшьар, аха урҭ ахәарҭа адагьы, агәырӷьарагьы шәзааргоит!