Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 38

АШӘА 25 Иҷыдоу амазара

Шәырзыӡырҩуама шәара агәҽанҵарақәа?

Шәырзыӡырҩуама шәара агәҽанҵарақәа?

«Руаӡәк дгахоит, егьи дааныжьхоит» (МАТФ. 24:40).

ЕИЛАҲКААУА

Иисус иҵаҩцәа ари адунеи аҵыхәтәаны ауаа рус аниӡбало амш иазыҟаиҵарц азы ажәамаанақәа хԥа еиҭеиҳәеит. Ари астатиаҿы урҭ ажәамаанақәа иаҳдырҵо еилаҳкаауеит.

1. Иҟаиҵои Иисус иаарласны?

 ҲАРА зеиԥшыҟам аамҭазы ҳанхоит! Иаарласны Иисус адгьыл иқәынхо ауаа зегьы рус иӡбоит. Иара иҵаҩцәа иреиҳәеит ауаа рус аниӡбалои «ари адунеи аҵыхәтәеи» рҿаԥхьаҵәҟьа иҟало ахҭысқәа (Матф. 24:3). Иисус иԥааимбаражәа ануп Матфеи 24-тәи, 25-тәи ахқәа рҿы, Марк 13-тәи ахаҿы, насгьы Лука 21-тәи ахаҿы.

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы, насгьы избан?

2 Иисус ахәарҭа ҳзаазго, насгьы ҳгәаҳҽанызҵо х-ҭоурыхк еиҭеиҳәеит. Урҭ ауасақәеи аџьмақәеи, иҟәышызи иҟәышымзи аҭыԥҳацәеи, аталантқәеи ирызку ажәамаанақәа роуп. Урҭ иаҳдырбоит Иисус ҳхымҩаԥгашьа ала шакәу ҳус шиӡбало. Шәааи арҭ ажәамаанақәа ҳрылацәажәап, насгьы урҭ иаҳдырҵо еилаҳкаап. Раԥхьа ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана еилҳаргап.

АУАСАҚӘЕИ АЏЬМАҚӘЕИ

3. Ианбаиӡбало Иисус ауаа рус?

3 Иисус ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана анеиҭеиҳәа, ауаа рус аниӡбало дызхәаԥшло иҳәеит. Иара ауаа рус аниӡбало, урҭ ажәабжь бзиа ишақәҿырҭыз, насгьы доуҳала ишәу иашьцәа ирывагылазу-ирывамгылазу дахәаԥшлоит (Матф. 25:31—46). Ари аӡбара Армагеддон аҿаԥхьаҵәҟьа, арыцҳара ду аан иҟалоит (Матф. 24:21). Ахьча ауасақәеи аџьмақәеи шеилихуа еиԥш, Иисус доуҳала иалху ақьырсианцәа ирывагылази ирывамгылази еилихуеит.

4. Избан агәра ганы ҳзыҟоу Иисус ауаа рус ииашаны ишиӡбало? (Исаиа 11:3, 4). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Абиблиа иаҳнарбоит Иисус ӡбаҩыс дҟазҵаз Иегова ихаҭа шиакәу, убри аҟынтә Иисус ауаа рус ииашаны иӡбалоит. (Шәаԥхьа Исаиа 11:3, 4.) Иисус уажәнатә ауаа ирҳәо ируа изызхәыцуа доуҳала иалху иашьцәа ишрызныҟәо дахәаԥшуеит (Матф. 12:36, 37; 25:40). Ауаа рус аниӡбало доуҳала иалху ақьырсианцәа ирывагылаз зусҭцәоу ибзианы идыруазаауеит a. Урҭ рыцхрааразы ихадоу азнеишьақәа руак ажәабжь рыцҳәара ауп. Ус ҟазҵо уаа иашақәаны иԥхьаӡахоит насгьы адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы алшара рзаатуеит (Матф. 25:46; Аат. 7:16, 17). Шаҟа ҳамҭа бзиоузеи! Дара арыцҳара ду аангьы уи ашьҭахьгьы Анцәа изиашаны иаанхар рыхьӡқәа «аԥсҭазааратә шәҟәаҿы иаанхоит» (Аат. 20:15).

Хара имгакәа Иисус ауаа рус иӡбоит, насгьы урҭ ауасақәеи аџьмақәеи ҳәа еилихуеит. (Шәахәаԥш абзац 4.)


5. Иарбан гәҽанҵарақәоу ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана иаҳнаҭо, насгьы хәарҭа ззаанагода уи?

5 Анцәа шәизиашаз. Ауасақәеи аџьмақәеи ирызку Иисус иажәамаана раԥхьаӡа иргыланы адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу роуп изызку. Ишԥарылшо дара рхаҵара аадырԥшыр? Доуҳала иалху Христос иашьцәа ажәабжь аҳәара ирыцхраалар, насгьы «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» имҩақәҵарақәа нарыгӡалар (Матф. 24:45). Аха ажәҩан аҿы анхаразы агәыӷра змоу ақьырсианцәагьы ари ажәамаана иаҳнаҭо агәҽанҵара иазыӡырҩыроуп. Избан? Избанзар Иисус урҭ ирҳәо, ируа, изызхәыцуа дахәаԥшуеит. Урҭгьы Анцәа изиашазар ауп. Ҷыдала дара рзы Иисус даҽа ажәамаанақәа ҩба еиҭеиҳәеит. Урҭ Матфеи 25-тәи ахаҿы иануп. Урҭ руак иҟәышуи иҟәышыми аҭыԥҳацәа ирызкуп. Уи ажәамаана ала ҳагьалагап.

ИҞӘЫШЫЗИ ИҞӘЫШЫМЗИ АҬЫԤҲАЦӘА

6. Избан хәҩык аҭыԥҳацәа иҟәышу ҳәа зрызҳәоу? (Матфеи 25:6—10).

6 Иисус аԥҳәыс даазго ахаҵа иԥыларц ицаз жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана еиҭеиҳәеит (Матф. 25:1—4). Урҭ зегьы ицны ачарахь ацара ргәы иҭан. Урҭ рҟынтә хәҩык Иисус иҟәышу ҳәа рзиҳәеит, егьырҭ хәҩык — иҟәышым ҳәа. Иҟәышыз аҭыԥҳацәа ибзианы рҽазыҟаҵаны иҟан, насгьы ргәырҽанын. Дара аԥҳәыс даазго ахаҵа шаҟа аҭаххо изыԥшра иазхиан. Иара дынханы аҵх агәазы даар ҳәа акәаҷабқәагьы, уи иҭарҭәашаз ахәшагьы шьҭырхит. (Шәаԥхьа Матфеи 25:6—10.) Аԥҳәыс даазго ахаҵа данааи, иҟәышыз аҭыԥҳацәа ачарахь ицны ицеит. Убас еиԥшҵәҟьа доуҳала иалху ақьырсианцәагьы ргәырҽанызар ауп, насгьы Христос дааиаанӡа Анцәа изиашаны иаанхар ауп. Убасҟан дара рҳамҭа роуеит, насгьы Аԥҳәыс даазго ахаҵа, Иисус, жәҩантәи Аҳраҿы иҽидыркылоит (Аат. 7:1—3) b. Аха ирыхьзеи егьырҭ иҟәышмыз хәҩык аҭыԥҳацәа?

7. Ирыхьи иҟәышмыз хәҩык аҭыԥҳацәа, насгьы избан?

7 Иҟәышыз аҭыԥҳацәа реиԥш акәымкәа, иҟәышмыз аҭыԥҳацәа аԥҳәыс даазго ахаҵа иаара иазыҟаҵаӡамызт. Урҭ ркәаҷабқәа ыцәарц акгьы рыгӡамызт, иҭарҭәаша ахәшагьы рымаӡамызт. Аԥҳәыс даазго ахаҵа дшаауа анраҳа, ахәша аахәара ицеит, аха аԥҳәыс даазго ахаҵа иаара иахьымӡаӡеит. «Зҽырхианы иҟаз аҭыԥҳацәа уи ахаҵа ачара ахьыҟаз аҩны ицыҩналеит, убри ашьҭахьгьы ашә акит» (Матф. 25:10). Ԥыҭрак ашьҭахь иҟәышмыз аҭыԥҳацәа уахь иҩналарц анырҭахха, аԥҳәыс даазгоз ахаҵа иҳәеит: «Сара шәсыздырӡом» (Матф. 25:11, 12). Урҭ аҭыԥҳацәа ибзианы иазыҟаҵаӡамызт, убри аҟынтә аԥҳәыс даазгоз ахаҵа шаҟа аҭахыз изыԥшра рылымшаӡеит. Иднарҵои уи доуҳала иалху ақьырсианцәа?

8, 9. Иднарҵозеи доуҳала иалху ақьырсианцәа аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

8 Шәыхиаз, агәҽанызаарагьы аашәырԥшла. Иисус иҳәар иҭахӡамызт доуҳала иалху ақьырсианцәа ргәыԥқәа ҩба ҟалоит ҳәа: арыцҳара ду аан иаара иазыҟаҵазаауеи иазыҟаҵамзаауеи. Иара ииҳәарц ииҭахыз доуҳала иалху ақьырсианцәа аҵыхәтәанынӡа Анцәа изиашаны иаанымхар иҟало ауп. Ус рыхьыр, дара аҳамҭа роуӡом (Иоанн 14:3, 4). Уи агәҽанызаара аарԥшра иҳацхраауеит. Ҳара зегьы — доуҳала иалху ақьырсианцәагьы, адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоугьы — аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана иаҳнаҭо агәҽанҵара ҳазыӡырҩыр ауп. Ҳара ҳгәаҳҽанызароуп, насгьы ари адунеи аҵыхәтәа ҳазхиазароуп (Матф. 24:13).

9 Аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаанаҿы Иисус иазгәеиҭеит иаара ҳазхиазар, насгьы ҳгәаҳҽанызар шаҟа ихадоу. Аталантқәа ирызку анаҩстәи ажәамаанаҿы иара аџьабаа абара ҳазхиазар шҳахәҭоу азгәеиҭеит.

Аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаана ихадоу ак ҳнарҵоит: ҳара зегьы агәҽанызаара ҳамазароуп, насгьы аҵыхәтәанынӡа Анцәа ҳизиашаны аанхара ҳазхиазароуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)


АТАЛАНТҚӘА

10. Избан ҩыџьа амаҵуцәа агәрагара иаԥсоу ҳәа зрызҳәаз? (Матфеи 25:19—23).

10 Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанаҿы хаҵак даҽа тәылак ахь дцаанӡа хҩык имаҵуцәа ааиԥхьан, аталантқәа риҭеит — уи ԥара дуун (Матф. 25:14—18). Гәыкала иҟаз ҩыџьа амаҵуцәа рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа рбеит, ириҭаз аԥарагьы ҟәыӷарала рхы иадырхәеит. Рыԥшәма даныхынҳә ибеит урҭ ириҭаз аасҭа ҩынтә еиҳаны ишдырҳаз. Иара урҭ ирҽхәеит, насгьы рҩыџьагьы абас реиҳәеит: «Уԥшәма игәырӷьара ицеиҩша». (Шәаԥхьа Матфеи 25:19—23.) Аха иҟаиҵеи ахԥатәи амаҵуҩы? Ихы ишԥаирхәеи ирҭаз аԥара?

11. Ихьзеи иаашьоз амаҵуҩы, насгьы избан?

11 Талантк зауз амаҵуҩы даашьаҩызаарын. Аԥшәма ииҭаз аԥара аус ахь ашьҭра аҭыԥан, даалаган адгьыл жны иҵеиҵеит. Иԥшәма иусҭаз ухы ишԥаурхәеи ҳәа даниазҵаа, ииҭахьаз талантк изирхынҳәит. Уи амаҵуҩы иус дшазыҟаз иашаӡамызт. Иара иԥшәма иҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵара аҭыԥан, «ауаҩы џьбара» ҳәа изиҳәеит. Еилкаауп аԥшәма уи амаҵуҩы дшигәамԥхаз. Иара аталант имхны, наҟ дкарцарц иҳәеит (Матф. 25:24, 26—30).

12. Иаадырԥшуада аџьабаа абара иацәымшәоз ҩыџьа амаҵуцәа?

12 Аџьабаа абара иацәымшәоз ҩыџьа амаҵуцәа Анцәа изиашоу доуҳала иалху ақьырсианцәа аадырԥшуеит. Аԥшәма, Иисус, урҭ ицгәырӷьарц иааиԥхьоит: дара жәҩантәи рҳамҭа — актәи аԥсҭалара — роуеит (Матф. 25:21, 23; Аат. 20:5а). Иаашьоз амаҵуҩы иҿырԥшы акәзар, уи доуҳала иалху ақьырсианцәа рзы гәҽанҵароуп.

13, 14. Иднарҵозеи доуҳала иалху ақьырсианцәа аталантқәа ирызку ажәамаана? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Аџьабаа жәбала. Аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаанаҿы еиԥш, аталантқәа ирызку ажәамаанаҿгьы Иисус иҳәар иҭахӡамызт доуҳала иалху ақьырсианцәа аашьалоит ҳәа. Иара урҭ агәацԥыҳәара рцәыӡыр иҟало ауп ииҳәарц ииҭахыз. Ус рыхьыр, дара «ааԥхьара [и]аԥсаны» изаанхаӡом, жәҩантәи Аҳрахьгьы изнеиӡом (2 Пиотр 1:10).

14 Аҭыԥҳацәеи аталантқәеи ирызку ажәамаанақәа иаҳдырбоит доуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы Иисус иаара иазхиазар, ргәырҽанызар, аџьабаагьы рбалар шрыхәҭоу. Аха уи мацара акәӡам Иисус дара рҟынтә дыззыԥшу. Матфеи 24:40, 41 аҿы даҽа гәҽанҵаракгьы ануп.

Иисус иҭахуп доуҳала иалху ақьырсианцәа аҵыхәтәанынӡа гәыкала аџьабаа рбаларц. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.) d


ИГАХОДА?

15, 16. Ишԥаҳдырбо Матфеи 24:40, 41 иану ажәақәа доуҳала иалху ақьырсианцәа ргәырҽанызар шрыхәҭоу?

15 Иисус арҭ ажәамаанақәа хԥа еиҭеиҳәаанӡа иҳәеит доуҳала иалху ақьырсиан Анцәа игәы дшақәшәо лзоубарҭахо. Иисус амхы иҭоу ҩыџьа ахацәеи илаго ҩыџьа аҳәсеи рыӡбахә иҳәеит. Арҭ аҩ-ҭагылазаашьак рҿы ауаа уск иаҿуп ҳәа угәы иаанагар шалшогьы, Иисус иҳәеит «руаӡәк дгахоит, егьи дааныжьхоит» ҳәа. (Шәаԥхьа Матфеи 24:40, 41.) Уи ашьҭахь иара ишьҭанеицәа ргәазҭеиҵеит: «Шәгәышәҽаныз, избанзар Ишәықәиҭу данаауа амш шәыздырӡом» (Матф. 24:42). Ирыҵанакуама арҭ ажәақәа доуҳала иалху ақьырсианцәа? Излаҳбо ала, ирыҵанакуеит. Избанзар аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаанагьы Иисус уи иеиԥшу ажәақәа рыла ихиркәшеит (Матф. 25:13). Доуҳала иалхҵәҟьоу, насгьы аҵыхәтәанынӡа Анцәа изиашаны иаанхо роуп Иисус жәҩантәи Аҳрахь ииго (Иоанн 14:3).

16 Шәгәышәҽаныз. Доуҳала иалху қьырсианк агәҽанызаара ицәыӡыр, амаалықьцәа еизырго иалху рыбжьара дҟалаӡом (Матф. 24:31). Аха адгьыл аҿы наӡаӡа анхара агәыӷра змоугьы Иисус игәҽанҵара иазыӡырҩыроуп — даргьы ргәырҽанызароуп, насгьы Анцәа изиашазароуп.

17. Избан Иегова иԥшьоу адоуҳала иалихуа, насгьы даналихуа аганахь ала ҳгәы ҭынчзар залшо?

17 Ҳара Иегова ибзианы даҳдыруеит, насгьы ииӡбо агәра ҳгоит. Иара изиашоу қьырсианк иԥшьоу адоуҳала иахьатәи аамҭазы далихзар, уи агәҭынчымра ҳазцәырнамгалар ауп c. Иаҳгәалаҳаршәап Иисус аӡахәаҭраҿы сааҭ заҵәык аус зуз ирызкны ииҳәаз (Матф. 20:1—16). Даргьы мышкы хәлаанӡа аус зуз ироуз аҟара роуит. Убас еиԥшҵәҟьа Анцәа изиашоу доуҳала иалху ақьырсианцәагьы: урҭ аналхзаалакгьы, жәҩантәи аҳамҭа роуеит.

АГӘҼАНҴАРАҚӘА ШӘЫРЗЫӠЫРҨЛА

18, 19. Иарбан урокқәоу, насгьы гәҽанҵарақәоу ари астатиаҿы еилҳаргаз?

18 Еилаҳкаазеи ари астатиа аҟынтә? Раԥхьа ҳара ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана еилҳаргеит. Уи иаҳнарбеит адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу зегьы Иегова изиашазар шрыхәҭоу — уажәгьы, арыцҳара ду аангьы. Иисус адгьыл иқәынхо ауаа зегьы рус аниӡбало, Анцәа изиашоу ауаа наӡаӡа анхара иаԥсоу ауаа бзиақәа ҳәа рзиҳәоит (Матф. 25:46).

19 Уи адагьы, ҳара еилҳаргеит доуҳала иалху ақьырсианцәа ргәырҽанызҵо Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанақәа ҩба. Жәаҩык аҭыԥҳацәа ирызкыз ажәамаанаҿы хәҩык ҟәыӷарыла рхы мҩаԥыргеит. Дара рҽазыҟарҵеит, насгьы агәҽанызаара рыман. Урҭ аԥҳәыс даазго ахаҵа шаҟа аҭахыз изыԥшра иазхиан. Аԥҳәыс даазго ахаҵа ачарахь инаимышьҭыз иҟәышмыз аҭыԥҳацәа рзы ус ҳазҳәаӡом. Ҳаргьы шаҟа аҭаху аԥшра ҳазхиазароуп. Избанзар Иисус ари адунеи аҵыхәтәа анԥиҵәо ҳаздырӡом. Уи адагьы, аталантқәа ирызку ажәамаана ҳгәалаҳаршәеит, насгьы аџьабаа абара иацәымшәоз ҩыџьа амаҵуцәа рҿырԥшы еилҳаргеит. Дара рыԥшәма ириҭаз адҵа гәыкала инарыгӡон, иара уи азы иагьирҽхәеит. Аԥшәма иаашьоз амаҵуҩы акгьы иаԥсам ҳәа изиҳәеит, насгьы имаз зегьы имихит. Иаҳнарҵозеи уи? Ҳаргьы ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа Иегова иҳаиҭо адҵақәа гәыкала инаҳагӡалароуп. Иара убас ҳара ҳалацәажәеит доуҳала иалху ақьырсианцәа ргәырҽанызар шрыхәҭоу. Ус ҟарымҵалар, Иисус ажәҩан ахь игаӡом, жәҩантәи аҳамҭагьы роуӡом. Урҭ Иисус ицҟаларц азы ажәҩан аҿы ианеизгахо аамҭа даара иазыԥшуп. Армагеддон ашьҭахь Асыс ачара ҟалоит. Уа аԥҳәыс даазго ахаҵа — Иисус иакәхоит, аҭаца — зыԥсы ҭалаз доуҳала иалху ақьырсианцәа ракәхоит (2 Фес. 2:1; Аат. 19:7, 9).

20. Иҟаиҵозеи Иегова игәҽанҵарақәа ирзыӡырҩуа рзы?

20 Иаарласны Иисус ауаа рус иӡбоит, аха ҳара акгьы ҳацәымшәалар ҳалшоит. Бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб ҳизиашаны ҳаанхар, иара «ауаҩы имч аасҭа еиҳау амч» ҳаиҭоит, «ауаҩытәыҩса Иԥа иҿаԥхьа [ҳ]гыларц азы» (2 Кор. 4:7; Лука 21:36). Наӡаӡа анхаразы агәыӷра ажәҩан аҿы акәзаргьы адгьыл аҿы акәзаргьы иахьҳамоу, Иисус еиҭеиҳәаз ажәамаанақәа иҳарҭо агәҽанҵарақәа ҳарзыӡырҩлароуп. Убас Ҳаб дҳаргәырӷьалоит. Иегова даараӡа дқьиоуп, иара иҭахуп доусы ҳахьӡқәа аԥсҭазаара ашәҟәы ианызарц (Дан. 12:1; Аат. 3:5).

АШӘА 26 «Саргьы исзыжәуит»

a Шәахәаԥш 2024 шықәса, маи мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Ишԥаиӡбало Иегова ауаа рус арыцҳара ду аан?»

b Еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит 2015 шықәса, март 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Шәлахҿыхзаауама шәара?» аҟны.

c Шәахәаԥш 2020 шықәса, ианвар мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 29—30, абзацқәа 11—14.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Доуҳала иалху аиаҳәшьа ажәабжьҳәараҿы илықәшәаз аӡӷаб Абиблиа ллырҵоит.