Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 37

АШӘА 118 «Ҳхаҵара иазырҳа»

Ҳхаҵара мырӡкәа аҵыхәтәанынӡа ачҳара аарԥшра иҳацхраауа асаламшәҟәы

Ҳхаҵара мырӡкәа аҵыхәтәанынӡа ачҳара аарԥшра иҳацхраауа асаламшәҟәы

«Аԥхьанатә иҳамаз агәрагара аҵыхәтәанынӡа [иҳахьчоит]» (АУР. 3:14).

ЕИЛАҲКААУА

Ауриацәа рахь асаламшәҟәы иану алабжьарақәа иахьагьы ихәарҭоуп. Урҭ ҳацхраауеит ахаҵара амырӡреи аԥышәарақәа ҳанрықәшәо ачҳара аарԥшны урҭ рыхгареи.

1, 2. а) Иарбан ҭагылазаашьоу Иуда иҟаз, апостол Павел Ауриацәа рахь асаламшәҟәы аниҩ? б) Избан Павел исаламшәҟәы ианаамҭаз иҩит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

 ИЕРУСАЛИМИ Иудеиеи инхоз ақьырсианцәа ирацәаны ауадаҩрақәа ирықәшәон. Иисус данԥсы ашьҭахь дук мырҵыкәа ҿыц еиҿкааз аизара ашьҭашәарыцара ӷәӷәақәа ирықәшәеит (Аус. 8:1). 20 шықәса раҟара ашьҭахь амлакра ӷәӷәа ҟалеит, уи иахҟьаны ақьырсианцәа аӡәырҩы ӷархеит (Аус. 11:27—30). Аха иҟан ианҭынчраз аамҭақәагьы. Иаҳҳәап, 61 шықәса ҳ. ҳ. шыҟаз еиԥш иԥшьоу адоуҳа апостол Павел игәазҭанаҵеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи асаламшәҟәы рзыҩра. Урҭ аԥхьаҟа аԥышәарақәа рзыԥшын аҟынтә, уи даара ирыхәеит.

2 Избан Павел исаламшәҟәы ианаамҭаз иҩит ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Иисус зыӡбахә иҳәахьаз арыцҳара дуи Иерусалим ахыбгалареи ааигәахара иаҿын (Лука 21:20). Ҳәарада, Павелгьы Иудеиа иҟаз аишьцәагьы урҭ ахҭысқәа ҟалараны ианыҟаз рыздырӡомызт. Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҭынчраз уи аамҭа рхы иархәаны урҭ ахҭысқәа рҽырзыҟарҵар рылшон. Дара ахаҵареи аԥышәарақәа раан ачҳареи раарԥшышьа рҵар рыхәҭан. Павел исаламшәҟәы уи аҿы ирыцхрааит (Аур. 10:25; 12:1, 2).

3. Избан Ауриацәа рахь асаламшәҟәы иахьагьы ақьырсианцәа рзы изхәарҭоу?

3 Ҳара актәи ашәышықәсазы иҟаз арыцҳара аасҭа еиҳау арыцҳара ҳхаҳгараны ҳаҟоуп (Матф. 24:21; Аат. 16:14, 16). Убри аҟынтә шәааи Иегова Иудеиа инхоз ақьырсианцәа ириҭаз алабжьарақәа иахьа ҳаргьы иҳацхраар шҳалшо ҳахәаԥшып.

«АНАҨСГЬЫ ДОУҲАЛА ҲАШӘЛАРОУП»

4. Иарбан уадаҩрақәоу Иудеиа инхоз ақьырсианцәа ирымаз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Иудеиа инхоз ақьырсианцәа рыԥсҭазаара мариаӡамызт. Акыршықәса ауриацәа Анцәа ижәлар ракәын. Иерусалим рыԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылон. Уи ақалақь аҟынтә аҳцәа напхгара руан, дара Анцәа ихаҭарнакцәа ракәын. Уи адагьы, уа ицқьоу амҵахырхәара шьагәыҭс иамаз аныҳәарҭа гылан. Анцәа изиашаз ауриацәа Моисеи изакәани адинхаҵаратә напхгаҩцәа ишьақәдыргылоз аԥҟарақәеи ирзыӡырҩуан. Азакәан рыԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа рганахь ала анапхгара рнаҭон. Уа акрыфареи, аԥхьатәхсареи, атәымтәылауаа рацәажәареи ирызкыз азҵаарақәа рыӡбахә ҳәан. Аха Иисус данԥсы ашьҭахь Моисеи изакәан аԥыхын, акәырбанқәагьы уаҳа инагалатәӡамызт. Ақьырсианра здызкылоз ауриацәа уажәшьҭа Анцәа даҽакала имҵахырхәара иашьцылар акәын (Аур. 10:1, 4, 10). Апостол Пиотр иеиԥш иҟаз доуҳала иӷәӷәаз ақьырсианцәагьы урҭ рҟынтә ԥсахрақәак рықәныҟәара рзымариаӡамызт (Аус. 10:9—14; Гал. 2:11—14). Уи адагьы, иудеиатәи адинхаҵаратә напхгаҩцәа ақьырсианцәа иҿыцыз рхаҵара иахырҟьаны ирышьҭашәарыцон.

Ақьырсианцәа аҵабырг рҽаларԥсны иркызар рыхәҭан, иудеиатәи адиннапхгаҩцәа рзыӡырҩра аҭыԥан. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 5.)


5. Иарбан уадаҩрақәоу ақьырсианцәа зықәшәаз?

5 Иуда инхоз ақьырсианцәа ҩ-гәаанагарак ирыбжьахеит. Иудеиатәи адиннапхгаҩцәа акы рҳәон, пату зқәыз ақьырсианцәа шьоукы даҽакы рҳәон. Иудеиатәи адиннапхгаҩцәа ақьырсианра здызкылаз ауриацәа ачарҳәаҩцәа реиԥш ирыхәаԥшуан. Пату зқәыз ақьырсианцәа шьоукы Моисеи изакәан наҳагӡалар ауп ҳәа ирықәыӷәӷәон. Иҟалап дара ус зырҳәоз ашьҭашәарыцарақәа ирыцәцарц ахьырҭахыз азы акәызҭгьы (Гал. 6:12). Ирыцхрааи ақьырсианцәа Иегова изиашаны аанхара?

6. Ргәы зызҭеиҵеи Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи? (Ауриацәа 5:14—6:1).

6 Павел исаламшәҟәаҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи Анцәа Иажәа еиҳа инарҵауланы иҭырҵааларц ргәазҭеиҵеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 5:14—6:1.) Ауриатә Ҩырақәа ицырхырааны иара ақьырсианра аиудаизм излеиӷьу дирбеит a. Павел иҭахын дара рдыррақәа еиздырҳарц, насгьы аҵабырг еиҳа еиӷьны еилыркаарц. Уи амцҵарақәа ахьыҟоу еилкааны, мап рыцәкра ирыцхраауан.

7. Иарбан уадаҩрақәоу иахьа ҳзықәшәо?

7 Урҭ ақьырсианцәа реиԥш ҳаргьы Иегова ииашоу инормақәа ирҿагыло агәаанагарақәа есааира иҳаҳауеит. Иаҳҳәап, шьоукы ирҳәоит Иегова ишаҳаҭцәа асекс аганахьала Абиблиа иану иахьазыӡырҩуа иашаӡам ҳәа. Ауаа рхәыцшьа Анцәа ииашоу ихәыцшьа еиҳа-еиҳа иацәыхарахоит (Ажәам. 17:15). Убри аҟынтә ҳара аиашеи амци реиҩдыраашьа ҳдыруазар хадоуп, насгьы аӡәгьы ҳаршәаны Иегова ҳаицәыхареитәыр илҳмыршароуп (Аур. 13:9).

8. Иҳацхраауазеи ҳаанымгылаӡакәа доуҳала аизҳара?

8 Павел ауриацәа иреиҳәеит доуҳала еизҳарц азы аџьабаа рбаларц. Уи алабжьара ҳара ҳзгьы ихәарҭоуп. Ҳара Абиблиа инарҵауланы иҭаҳҵаалар ауп, насгьы Иегова дышхәыцуа ахәыцшьа ҳҵалар ауп. Аӡы ҳҽанӡааҳхлак ашьҭахьгьы уи аҿы аџьабаа ҳбалар ҳахәҭоуп. Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа шықәса ҵуазаалакгьы, ҳара есыҽны Анцәа Иажәа ҳаԥхьалароуп, насгьы иҭаҳҵаалароуп (Аԥсал. 1:2). Абиблиа аҭҵааразы ҳхатә график ҳамазар, уи Павел ауриацәа зыӡбахә рзиҩуаз аҟазшьа — ахаҵара — арӷәӷәара иҳацхраауеит (Аур. 11:1, 6).

«ҲАРА АХАҴАРА ЗМОУ, ЗЫԤСЫ ЕИҚӘЗЫРХО РОУП ҲЗЕИУОУ»

9. Избан Иудеиа инхоз ақьырсианцәа ахаҵара ӷәӷәа рымазар зрыхәҭаз?

9 Иудеиа инхоз ақьырсианцәа ааигәахара иаҿыз арыцҳара рхыргарц азы ахаҵара ӷәӷәа рымазар рыхәҭан (Аур. 10:37—39). Иисус заа иреиҳәеит Иерусалим ар шакәшо. Убасҟан ишьҭанеицәа ашьхарахь ибналаны ицар акәын. Ақьырсианцәа зегьы, ақалақь аҿы инхозгьы ақалақь азааигәара инхозгьы, уи алабжьара иқәныҟәар рыхәҭан (Лука 21:20—24). Ажәытәан аӷацәа анрықәлоз, ауаа еиҳарак ақалақь аҿы рҽырҵәахуан, избанзар уи аҭӡамц ӷәӷәақәа акәыршаны иҟаҵан. Ашьхарахь ацара хшыҩдароушәа угәы иаанагар алшон, убри аҟынтә ақьырсианцәа Иисус ирыдиҵаз иқәныҟәарц азы ахаҵара ӷәӷәа рымазар рыхәҭан.

10. Ргәы зызҭанаҵалар акәзи ақьырсианцәа ахаҵара ӷәӷәа? (Ауриацәа 13:17).

10 Иара убас Иудеиа инхоз ақьырсианцәа Иисус аизарақәа напхгара злариҭоз аишьцәа рыгәра ргалар акәын. Аизара ахылаԥшыҩцәа ақьырсианцәа аныбналаша, насгьы ишыбналаша иазкны еилыкка иҟаз амҩақәҵарақәа рырҭазар ҟалап. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:17.) Ауриацәа 13:17 аҿы «шәырзыӡырҩла» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит ауаҩы анапхгара изҭо игәра ганы дшизыӡырҩуа, уаҳа царҭа ахьимам азы акәымкәа. Убри аҟынтә ақьырсианцәа арыцҳара алагаанӡа аизара ахылаԥшыҩцәа рыгәра агашьа рҵар акәын. Дара ианҭынчраз аизара ахылаԥшыҩцәа ирзыӡырҩуазҭгьы, иуадаҩыз аамҭақәа раан ус аҟаҵара еиҳа ирзымариахон.

11. Избан ахаҵара ӷәӷәа ҳамазар зҳахәҭоу?

11 Иахьа ҳаргьы ахаҵара ӷәӷәа ҳҭахуп. Ауаа реиҳараҩык иаарласны ари адунеи аҵыхәтәа шыҟало иазкны Абиблиа иану агәҽанҵара раҳаргьы рҭахӡам. Ҳара уи агәра ахьаҳго азгьы иаҳхыччоит (2 Пиотр 3:3, 4). Абиблиаҿы арыцҳара ду зеиԥшрахо иазкны кәамаҵамарақәак шанугьы, иаҳзымдыруагьы рацәоуп. Убри аҟынтә ҳара ахаҵара ӷәӷәа ҳамазар ауп ари адунеи аҵыхәтәа ианаамҭоу ишыҟало, насгьы Иегова ахаан ҳшаанимыжьуа агәра ҳгаларц азы (Авв. 2:3).

12. Иҳацхраауеи арыцҳара ду ахгара?

12 Иара убас ҳара Иегова «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» ила анапхгара шҳаиҭо ала ҳхаҵара ҳарӷәӷәалар ауп (Матф. 24:45). Арыцҳара ду аналаго иҟалап уи еилыкка иҟоу амҩақәҵарақәа ҳаиҭар. Урҭ амҩақәҵарақәа ҳарзыӡырҩыр, ҳаԥсы еиқәҳархоит. Усҟан ҳара актәи ашәышықәсазы римтәи ар Иерусалим ианакәша ақьырсианцәа зҭагылаз аҩыза ҳҭагылоит. Убри аҟынтә Анцәа иорганизациаҿы анапхгара ҳазҭо аишьцәа рахь уажәнатә ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар ауп. Ҳара урҭ уажәы ҳарзымӡырҩуазар, аԥхьаҟа ҳазларзыӡырҩлои?

13. Избан Ауриацәа 13:5 аҿы иану алабжьара ақьырсианцәа ианаамҭаз ироуит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

13 Ашьхарахь ианыҩтәу анапхгара иазыԥшнаҵы ақьырсианцәа имариоу аԥсҭазаара мҩаԥыргалар акәын, насгьы «аԥара бзиа [ирымбалар]» акәын. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:5.) Урҭ рҟынтә шьоукы амлакреи аӷарреи закәу рдыруан (Аур. 10:32—34). Уаанӡа дара ажәабжь бзиа аҳәаразы рхы ишамеигӡозгьы, ԥыҭрак ашьҭахь шьоукы аԥареи амали еиҳа иақәгәыӷуа иалагеит. Аха Иерусалим аилыбгараан аԥара рыхәаӡомызт (Иак. 5:3). Уи рыҩни рмали ааныжьны ацара еиҳагьы ирԥырхагахон.

14. Ҳашԥарзыҟало аԥареи амали, ҳхаҵара ӷәӷәазар?

14 Иаарласны Иегова ари адунеи цәгьа шықәиго агәра ганы ҳаҟазар, аԥареи амали роуп аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу ҳәа ҳхәыцлаӡом. Арыцҳара ду аан аԥара акгьы иҳахәаӡом. Абиблиаҿы иануп ауаа «ирымоу араӡны адәахьы идыршәуеит» ҳәа. Дара еилыркаауеит «ахьгьы араӡынгьы Иегова игәыԥжәара амш аҽны [ишазымыхьчо]» (Иез. 7:19). Убри аҟынтә ирацәаны аԥара арҳара ҳашьҭалар аасҭа, еиҳа еиӷьуп ҳхи ҳҭаацәареи рныҟәгара, насгьы Иегова имаҵ аура иҳацхраауа аӡбарақәа ҳадаҳкылалар. Ауал аҵалареи иаҭахым амаҭәақәа раахәареи ҟәыӷарахарымызт. Уимоу, иҳамоугьы амцхә ҳахымӡыӡаалароуп (Матф. 6:19, 24). Избанзар уажәы ма аԥхьаҟа аӡбара ҳадаҳкылар акәхоит: Иегова игәра ҳгалоу ҳмал ҳақәгәыӷлоу.

«ШӘАРА АЧҲАРА ШӘҬАХУП»

15. Избан Иудеиа инхоз ақьырсианцәа еиҳараӡак ачҳара зырҭахыз?

15 Иудеиа инхоз ақьырсианцәа аԥхьаҟа аԥышәарақәа рзыԥшын, убри аҟынтә ачҳара рымазар акәын (Аур. 10:36). Аӡәырҩы иҭынчраз аамҭақәа раан ақьырсианра рыдыркылеит, убри аҟынтә ахаан ашьҭашәарыцарақәа ирықәымшәаӡацызт. Аха уи закәу бзианы издыруазгьы, еиҳа иӷәӷәаз ашьҭашәарыцарақәа рҽырзыҟарҵалар акәын. Павел иреиҳәеит дара аҵыхәтәанынӡа Анцәа изиашаны иаанхар шрыхәҭоу — иаҭаххар, Христос иеиԥш аԥсрагьы иазхиазароуп (Аур. 12:4). Ақьырсианра здызкылоз ауриацәа рхыԥхьаӡара еиҳахацыԥхьаӡа ауриацәа еиҳагьы рыԥсахы еибакуан. Павел Ауриацәа рахь асаламшәҟәы иҩаанӡа шықәсқәак шагыз, Иерусалимҟа днеит. Уа ажәлар еизаны дышьтәуп ҳәа иаақәгылеит. 40-ҩык инареиҳаны ауриацәа «ааилацәажәан, Павел даҳшьаанӡа акрышаҳамфо, акрышаҳамжәуа ҳәа аҿаҭахьа рықәырҵеит» (Аус. 22:22; 23:12—14). Абас еиԥш иҟаз ашьҭашәарыцарақәеи ацәымӷрақәеи раан ақьырсианцәа Анцәа имҵахырхәаларц азы анаҩсгьы еизалар акәын, ажәабжь бзиа рҳәалар акәын, насгьы рхаҵара дырӷәӷәалар рыхәҭан.

16. Ишԥаҳацхраауеи Ауриацәа рахь асаламшәҟәы аԥышәарақәа ииашаны рзыҟазаара? (Ауриацәа 12:7).

16 Ирыцхраар алшози Иудеиа инхоз ақьырсианцәа аҿагыларақәа рыхгара? Рҭагылазаашьа ииашаны иахәаԥшлар акәын. Павел идеилиркааит Анцәа ақьырсиан акы иирҵарц азы агәаҟрақәа дырцәимыхьчар шалшо. (Шәаԥхьа Ауриацәа 12:7.) Иаҳҳәап, иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы ауаҩы ақьырсиантә ҟазшьақәа еизирҳар ма еиӷьитәыр илшоит. Урҭ ақьырсианцәа аԥышәарақәа ахәарҭа шырзаарго рхы азырышьҭлазҭгьы, урҭ рыхгара еиҳа ирзымариахон (Аур. 12:11).

17. Идырҵазеи Павел ашьҭашәарыцарақәа?

17 Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәазҭеиҵеит ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа рхыргаларц. Иара ихаҭагьы уи закәыз идыруан. Уаанӡа иара ақьырсианцәа дрышьҭашәарыцон, аха нас, данқьырсианха, иаргьы ишьҭашәарыцо иалагеит. Павел иԥсҭазаараҿы имаҷымкәа аԥышәара ӷәӷәақәа дрықәшәон (2 Кор. 11:23—25). Убри аҟынтә иара идыруан урҭ ухугарц азы ухы акәымкәа, Иегова ишиқәгәыӷлатәу. Павел агәра ганы иҳәеит: «Иегова сыцхырааҩ иоуп, акгьы сацәшәалаӡом» (Аур. 13:6).

18. Иаҳзыԥшузеи ҳара зегьы аԥхьаҟа, насгьы иҟаҳҵалар акәзеи уажәнатә?

18 Иахьа ҳашьцәа шьоукы ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәоит. Ишԥаҳалшо урҭ ҳрыцхраар? Ҳара иҳалшоит урҭ рзы Анцәа ҳиҳәалар, насгьы излаҳалшо ала ҳрыцхраалар (Аур. 10:33). Абиблиа имӡаӡакәа иҳанаҳәоит: «Гәыкала Анцәа имаҵ зулар зҭаху Христос Иисус иҵаҩцәа зегьы ирышьҭашәарыцалоит» (2 Тим. 3:12). Ус анакәха, ҳара зегьы уи ҳҽазыҟаҳҵароуп. Шәааи Иегова ҳиқәгәыӷлап, насгьы иарбан ԥышәаразаалакгьы ҳзықәшәо, уи ахгара дышҳацхраауа агәра ҳгалап. Иазалихыз аамҭазы иара гәыкала имаҵ зуа зегьы агәаҟрақәа ирылигоит (2 Фес. 1:7, 8).

19. Иҳацхраауеи арыцҳара ду аҽазыҟаҵара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

19 Ҳәара аҭахума, Павел исаламшәҟәы актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа аԥхьаҟа ирзыԥшыз арыцҳара аҽазыҟаҵара ирыцхрааит. Павел аишьцәа ргәазҭеиҵеит Аҩыра еиҳа инарҵауланы иҭырҵааларц. Убасҟан дара амцҵарақәа реилкаареи мап рыцәкреи рылшон. Уи адагьы дара рхаҵара дырӷәӷәалар рыхәҭан. Уи рыцхраауан Иисус ириҭоз амҩақәҵарақәа иаразнак рықәныҟәареи аизара напхгара арҭаларц азы иара иалихыз ахацәа рзыӡырҩреи. Иара убас Павел ақьырсианцәа ачҳара аизырҳара дрыцхрааит. Дара аԥышәарақәа ииашаны ирыхәаԥшлар акәын, насгьы Иегова урҭ рыла ак дирҵар шилшо рхадмыршҭлар рыхәҭан. Шәааи ҳаргьы урҭ алабжьарақәа ҳхы иаҳархәалап. Убасҟан Анцәа аҵыхәтәанынӡа ҳизиашаны ҳаанхоит (Аур. 3:14).

Иегова изиашаз ақьырсианцәа иаадырԥшыз ачҳаразы дырзылԥхеит. Иудеиантәи ибналаны ианцагьы дара аизара иаҟәымҵӡеит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Шәахәаԥш абзац 19.)

АШӘА 126 Ӷьеҩла шәыҟаз, акрычҳара шәымаз

a Павел ақьырсианцәа уажәы Анцәа ишимҵахырхәо уаанӡа ишимҵахырхәоз аасҭа акырӡа ишеиӷьу дирбарц азы актәи ахаҿы мацара бжьынтә иадамзаргьы Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә ацитатақәа ааигеит (Аур. 1:5—13).