Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ачҳара аарԥшны, насгьы агәырӷьара мырӡкәа Иегова шәизыԥшыз

Ачҳара аарԥшны, насгьы агәырӷьара мырӡкәа Иегова шәизыԥшыз

ШӘАЗЫԤШУМА шәара Иегова ацәгьара зегь анықәиго, насгьы зегь ҿыцны ашара даналаго аамҭа? (Аат. 21:1—5). Ҳәарада, ааи! Аха аԥшра мариамзар алшоит — еиҳараӡак ауадаҩрақәа ҳрықәшәозар. Узықәгәыӷуа акыраамҭа инамӡозар, угәы ухьларгьы алшоит (Ажәам. 13:12, албаага).

Аха уеизгьы Иегова иҭахуп ачҳара аарԥшны иалихыз аамҭа ҳазыԥшызарц. Избан иара ус зиҭаху? Иҳацхраар алшозеи агәырӷьара мырӡкәа аԥшра?

ИЗБАН ИЕГОВА ҲАИЗЫԤШЫЗАРЦ ЗИҬАХУ?

Абиблиаҿы иануп: «Иегова ачҳара ааирԥшуеит, шәрыцҳаишьарц азы, иара иусқәа дрылагоит, шәагьрыцҳаишьоит. Избанзар Иегова аиашара Анцәа иоуп. Насыԥ рымоуп иқәгәыӷуа зегьы» (Ис. 30:18). Раԥхьа арҭ Исаиа иажәақәа Иегова зҳәатәы аргара иашьҭоу аԥацәа ҳәа ззиҳәаз ауриацәа рахь ирхан (Ис. 30:1). Аха урҭ рыбжьара Анцәа гәыкала имаҵ зуазгьы ыҟан, убри аҟынтә арҭ ажәақәа дара агәыӷра рнаҭон. Арҭ ажәақәа иахьа Иегова гәыкала имаҵ зуагьы агәыӷра рнаҭоит.

Иегова ачҳара аарԥшны дыԥшуазар, ҳаргьы ачҳара ааҳарԥшлароуп. Иара ари адунеи аҵыхәтәа анԥиҵәо аамҭа алиххьеит, насгьы уи амши асааҭи анааиуа дазыԥшуп (Матф. 24:36). Убасҟан зегьы еилыркаауеит Иегова имаҵзуҩцәеи иареи ирызкны Аџьныш ииҳәаз шымцу. Уи ашьҭахь Анцәа Аҩсҭаа иган аанызкылои иареи ықәигоит, ҳара ҳрыцҳаишьоит.

Аха иахьа ҳара аԥышәарақәа ҳрықәшәоит. Иегова урҭ ҳанырцәимыхьчо шыҟоугьы, иара агәра ҳиргоит ҳаԥшнаҵы, агәырӷьара ҳмырӡыр шҳалшо. Исаиа ишиҳәаз еиԥш, ҳгәы ҳыҭ-ҳыҭуа ибзиоу акы ҳазыԥшнаҵы, агәырӷьара ҳамазар ҳалшоит (Ис. 30:18) a. Ишԥаҳалшо ари аҩыза агәырӷьара ҳаур? Абар ԥшь-лабжьарак.

ИШԤАҲАЛШО АГӘЫРӶЬАРА МЫРӠКӘА ҲАԤШЛАР?

Ибзиоу шәхы азышәышьҭла. Аҳ Давид агәымбылџьбарареи аиашамреи закәыз идыруан (Аԥсал. 37:35). Аха уеизгьы иара иҩит: «Иегова иҿаԥхьа ҿумҭлан, ачҳара аарԥшны уизыԥшыз. Зыгәҭакы цәгьақәа қәҿиарала иназыгӡо ихҟьаны угәы каумыжьлан» (Аԥсал. 37:7). Давид ихаҭагьы ари алабжьара дықәныҟәон — иара ихашҭӡомызт суцхраалоит ҳәа Иегова ииҭаз ажәа. Уи адагьы, иара Иегова изыҟаиҵоз зегь ахә ҳаракны ишьон (Аԥсал. 40:5). Ҳаргьы ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәа ҳиааиртә рылмыршаӡакәа, ибзиоу акы ҳхы азыҳашьҭуазар, Иегова изыԥшра ҳзымариахоит.

Иахьынӡашәылшо еиҳаны Иегова иӡбахә шәҳәала. 71-тәи Аԥсалом зҩыз — иҟалап уи Давид иакәызҭгьы — Иегова абас ашәа изиҳәон: «Сара еснагь сузыԥшызаауеит, урҳаракра иацысҵалоит» (Аԥсал. 71:14). Дышԥаҳареикуаз иара Иегова? Иара иӡбахә егьырҭ ирзеиҭеиҳәон, насгьы ашәақәа рыла дирҽхәон (Аԥсал. 71:16, 23). Давид иеиԥш ҳаргьы Иегова ҳаизыԥшнаҵы агәырӷьара ааҳарԥшлар ҳалшоит. Ҳара Иегова дҳарҽхәоит ҳмаҵзуреи, есыҽны ҳазлацәажәои, ашәаҳәареи рыла. Даҽазны Аҳра ашәа анышәҳәало, уи ажәақәеи ишәзаанаго агәырӷьареи шәазхәыц.

Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҿы агәышьҭыхра шәашьҭаз. Давид ауадаҩрақәа данрықәшәа, Иегова абас иеиҳәеит: «Иузиашоу идсырбоит ухьӡ сшақәгәыӷуа» (Аԥсал. 52:9). Ҳаргьы аизараҿи ажәабжьҳәараҿи ҳаныҟоу адагьы, ҳаԥсы ҳшьарц азы ҳанеиқәшәогьы, ҳамч ҭалоит (Рим. 1:11, 12).

Шәгәыӷра шәырӷәӷәала. Аԥсалом 62:5 аҿы иануп: «Сара ҿымҭкәа Анцәа сизыԥшуп, избанзар Иара иоуп сара сгәыӷра». Ҳара агәыӷра ӷәӷәа ада ԥсыхәа ҳамаӡам, еиҳараӡак ари адунеи аҵыхәтәа абриаҟара ҳазыԥшызар акәхоит ҳәа ҳаҟамызҭгьы. Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп, егьа аԥшра ҳақәшәаргьы, Иегова иқәыргәыӷрақәа зегь шынаӡо. Ҳгәыӷра ҳарӷәӷәарц азы, ҳара иҭаҳҵаалароуп Анцәа Иажәа: уа иаагоу аԥааимбаражәақәа, иану шеиҿамгыло, иара убас уи Иегова изкны иаҳнарҵо (Аԥсал. 1:2, 3). Уи адагьы, ҳара анаҩсгьы «иԥшьоу адоуҳа иш[ҳа]ҵанаҳәо еиԥш» Анцәа ҳиҳәалароуп. Уи ҳацхраауеит Иегова наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ишҳаиҭо иазку ақәыргәыӷра ҳазыԥшнаҵы, иареи ҳареи ҳаиҩызара ахьчара (Иуда 20, 21).

Аҳ Давид шәиҿыԥшла, насгьы агәра ганы шәыҟаз Иегова изыԥшу ауаа шгәеиҭо, насгьы гәыкала бзиа ишибо (Аԥсал. 33:18, 22). Ибзиоу акы шәазхәыцла. Анцәа дшәырҽхәала. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҿы агәышьҭыхра шәашьҭаз. Ишәымоу зыхә ҳараку агәыӷра шәмырӡын. Ари зегь шәыцхраауеит ачҳара аарԥшны Иегова изыԥшра.

a Исаиа 30:18 аҿы «иқәгәыӷуа» ҳәа еиҭагоу ажәа «згәы хыҭ-хыҭуа иԥшу» ҳәагьы еиҭоугар ауеит. Уи иаҳнарбоит Иегова ҳанеиқәирхо аамҭа азыԥшра акгьы шамам.