Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 7

АШӘА 15 Иегова Иԥхьахшаа дҳарашәкла!

Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Иаанагозеи уи шәара шәзы?

Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Иаанагозеи уи шәара шәзы?

«Уара иҳаназыжьуа Анцәа уоуп» (АԤСАЛ. 130:4).

ЕИЛАҲКААУА

Ари астатиаҿы ҳрылацәажәоит Абиблиа аҟынтә ҿырԥштәқәак. Урҭ Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа еиҳагьы ахә ашьара иҳацхраауеит.

1. Избан ажәа «иуанасыжьуеит» иаҵанакуа аилкаара зымариам?

 «САРА ИУАНАСЫЖЬУЕИТ». Шәхаҿы иаажәг ишәыргәааз ауаҩы арҭ ажәақәа шәеиҳәошәа. Ҳәарада, уи шәгәы ҟанаҵоит. Аха ииҳәарц ииҭахузеи уи ауаҩы арҭ ажәақәа рыла? Иаанагома уи ишәыбжьалаз аилибамкаара ихашҭит ҳәа, насгьы дырҩегь шәеиҩызцәоуп ҳәа? Мамзаргьы уаҳа уи атема алацәажәара иҭахыму? Ишаҳбо еиԥш, ауаҩы иуанасыжьуеит ҳәа аниҳәо, уи иаҵанакуа аилкаара мариаӡам.

2. Избан Иегова ауаа рыгәнаҳақәа шранаижьуа акы изузадымкыло? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

2 Аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова изкны иҳәеит: «Уара иҳаназыжьуа a Анцәа уоуп, ауаа уара уахь апатуқәҵара зныԥшуа ашәара рымазарц азы» (Аԥсал. 130:4). Иегова инаӡам ауаа ишранаижьуа акы иузадкылом. Иара иеиԥш анажьра аӡәгьы илшаӡом. Абиблиа зыҩуаз анажьра аӡбахә анырҳәоз зны-зынла рхы иадырхәоз ауриа ажәа Анцәа ауаа ишранаижьуа заҵәык ауп изызку. Уи ажәа ауаа ишранеибажьуа атәы анырҳәо ахаан рхы иадырхәаӡом.

3. Излеиԥшымзеи Иегова ауаа рыгәнаҳақәа шранаижьуеи ауаа рыгәнаҳақәа шранеибажьуеи? (Исаиа 55:6, 7).

3 Иегова ауаҩы игәнаҳақәа анианаижьуа урҭ анихуеит, убри аҟынтә реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәыргылахоит. Иегова аҵыхәтәанынӡа иахьҳанаижьуа ахә ҳаракны иаҳшьоит. Уи есааира аҟаҵарагьы игәы ақәыԥҵәаӡом. (Шәаԥхьа Исаиа 55:6, 7.)

4. Дышԥаҳацхраауеи Иегова анажьра закәыҵәҟьоу аилкаара?

4 Иҳалшома анажьра закәыҵәҟьоу аилкаара, Иегова ауаа рыгәнаҳақәа шранаижьуеи ҳара-ҳара ҳагәнаҳақәа шҳанеибажьуеи узеидымкылозар? Ааи, иҳалшоит. Уи аилкаара дҳацхраарц азы Иегова еиуеиԥшым аҿырԥштәқәа ихы иаирхәоит. Ҿырԥштәқәак ари астатиаҿы ҳрылацәажәоит. Урҭ иаҳдырбоит Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа агәра ҳиргарц азы еиуеиԥшым азнеишьақәа ихы ишаирхәо. Ҳара еилаҳкаауеит Иегова ауаҩы игәнаҳа анианаижьуа, уи шанихуа, насгьы ибжьысыз реизыҟазаашьақәа шеиҭашьақәиргыло. Уи ахаара зҵоу жәҩантәи Ҳаб иахь еиҳагьы ҳаџьшьара еизнарҳауеит.

ИЕГОВА ҲАГӘНАҲАҚӘА ҲԤЫРИГОИТ

5. Иҟалозеи Иегова ҳагәнаҳақәа анҳанаижьуа?

5 Абиблиаҿы агәнаҳақәа лассы-лассы аидара хьанҭа иаҿырԥшуп. Абар аҳ Давид ицәаныррақәа дышрыхцәажәаз: «Сыгәнаҳақәа схыҵәеит. Урҭ сымч зқәымхо аидара иеиԥшуп, срыҵаԥсит» (Аԥсал. 38:4). Аха Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа иранаижьуеит (Аԥсал. 25:18; 32:5). Арҭ ажәеинраалақәа рҿы «анажьра» ҳәа еиҭагоу ауриа ажәа иаанагоит «ашьҭыхра» ма «агара». Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Иегова еидараны иҳақәу агәнаҳа ҳақәхны ишиго.

«Сыгәнаҳақәа санаужьит» (Аԥсал. 32:5)


6. Шаҟа ихараны иаҳԥыригозеи Иегова ҳагәнаҳақәа?

6 Иегова ҳагәнаҳақәа шаҟа ихараны иаҳԥыриго даҽа ҿырԥштәыкгьы иҳаилнаркаауеит. Аԥсалом 103:12 аҿы иануп: «Мрагылара мраҭашәара ишацәыхароу еиԥш, убас ихараны иара ҳацәгьоурақәа ҳԥыригеит». Мрагылареи мраҭашәареи даара еицәыхароуп, урҭ ахаан џьарак изыҟалаӡом. Даҽакала иуҳәозар, Анцәа иахьынӡалшо ихараны ҳагәнаҳақәа ҳԥыригоит. Убас Иегова иаҳирбоит аҵыхәтәанынӡа ишҳанаижьуа.

«Мрагылара мраҭашәара ишацәыхароу еиԥш» (Аԥсал. 103:12)


7. Ирзиуазеи Иегова ҳагәнаҳақәа? (Михеи 7:18, 19).

7 Ҳара еилаҳкааит Иегова ҳагәнаҳақәа шаҳԥыриго. Аха ирзиуазеи урҭ анаҩс? Џьара иҵәахны имоума? Мап! Аҳ Езекиа Иегова изкны абас иҳәеит: «Уара сыгәнаҳақәа зегьы ушьҭахьҟа иуршәит». Мамзаргьы, албаагаҿы ишану еиԥш, «сыгәнаҳақәа умбаларц азы урҭ уԥыругеит» (Ис. 38:9, 17, албаага). Ҳхаҿы абри аҩыза асахьа ааиуеит: Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ауаҩы игәнаҳақәа аашьҭыхны урҭ уаҳа ахаан имбаларц азы наҟ икаижьуеит. Ари аҳәоу абасгьы еиҭоугар алшоит: «Уара сыгәнаҳақәа ыҟамызшәа иқәугеит». Михеи 7:18, 19 (шәаԥхьа) аҿгьы уи иеиԥшу азхәыцра аагоуп. Уа иануп Иегова ҳагәнаҳақәа амшын ишҭаижьуа. Ажәытәан амшын акы анҭаҳауаз, уи ахаан ҭгашьа амаӡамызт.

«Уара сыгәнаҳақәа зегьы ушьҭахьҟа иуршәит» (Ис. 38:17)

«Ҳагәнаҳақәа зегьы амшын аҵа иҭаужьуеит» (Мих. 7:19)


8. Еилаҳкаазеи ари астатиа актәи ахәҭа аҟынтә?

8 Арҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит Иегова ианҳанаижьуа, ҳаламыс уаҳа ҳамыргәаҟларц азы ҳагәнаҳақәа шаҳԥыриго. Давид иҳәеит: «Насыԥ рымоуп зыгхақәа занажьу, зыгәнаҳақәа зхыху ауаа. Насыԥ имоуп Иегова зыгәнаҳақәа гәнимкыло ауаҩы» (Рим. 4:6—8). Убри ауп анажьраҵәҟьа иаанаго!

ИЕГОВА ҲАГӘНАҲАҚӘА АНИХУЕИТ

9. Иарбан ҿырԥштәу иаҳзырбо Иегова ҳагәнаҳақәа аҵыхәтәанынӡа ишҳанаижьуа?

9 Абиблиаҿы иануп аҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ауаҩы игәнаҳақәа шанихуа узырбо егьырҭ аҿырԥштәқәагьы. Инықәырԥшны иуҳәозар, иара ауаҩы дыцқьахарц азы игәнаҳақәа иӡәӡәоит (Аԥсал. 51:7; Ис. 4:4; Иер. 33:8). Абар Иегова уи лҵшәас иаанаго иазкны ииҳәо: «Шәыгәнаҳақәа ицәаԥшьу аба иеиԥшзаргьы, асы еиԥш ишкәакәахоит. Иҟаԥшьеиқәароу аба еиԥш иҟаԥшьызаргьы, — аласа шкәакәа еиԥш иҟалоит» (Ис. 1:18). Амаҭәа иҟаԥшьу акы алашәзар, уи алхра даара ицәгьоуп. Аха Иегова агәра ҳиргоит ҳагәнаҳақәа рышьҭагьы аанымхо иширыцқьо.

«Шәыгәнаҳақәа ицәаԥшьу аба иеиԥшзаргьы, асы еиԥш ишкәакәахоит» (Ис. 1:18)


10. Иарбан еиҿырԥшроу иҵегьы Абиблиаҿы иаҳԥыло, Иегова агәыҭбаара аарԥшны ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа еилаҳкаарц азы?

10 Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, ҳагәнаҳақәа ауалқәа ирҿырԥшуп (Матф. 6:12; Лука 11:4). Ҳара ауал ду ҳшаҵаз ҳит. Агәнаҳа ҟаҳҵацыԥхьаӡа, ҳуал иацлоит. Аха Иегова ианҳанаижьуа, иҳақәу ауал ҳхихуашәа иаҩызоуп. Иара иҳаиҳәаӡом иҳанаижьхьоу агәнаҳақәа рыхә рхаҳшәааларц. Ауаҩы иуал анихырхуа, агәырӷьареи аԥсеивгареи иоуеит. Иегова ҳагәнаҳа анҳанаижьуа, ҳаргьы убасҵәҟьа ҳхы ҳбоит!

«Иҳанажь ҳагәнаҳақәа» (Матф. 6:12)


11. Ишԥеилкаатәу аоригинал бызшәаҿы ҳагәнаҳақәа аныххоит ҳәа иану ажәақәа? (Аусқәа 3:19).

11 Иегова ҳуалқәа, мамзаргьы ҳагәнаҳақәа ҳхыхра адагьы, урҭ анихуеит. Аусқәа 3:19 (шәаԥхьа) аҿы «шәанажьхарц» ҳәа еиҭагоу аоригинал ажәа иаанагоит «аныхра». Шәхаҿы иаажәг зуал шәықәу ауаҩы шәуал ахьану абӷьыц аашьҭыхны уи шиҵәаӷәо. Аха ииҵәаӷәаз уеизгьы иубарҭоуп. Акы ананырхуа атәы ҳҳәозар, уи даҽакуп. Иаҳгәалаҳаршәап ажәытәан ачернила злырхуаз. Уи аҷышәи, асмолеи, аӡи еилаҵаны иҟарҵон. Убри аҟынтә агубка ырбааӡаны ианырҵаз анырхыр рылшон. Уи ашьҭахь уа ианыз уаҳа аӡәгьы ибаӡомызт. Ауал убас иананырхуаз, уи ахаан иҟамызшәа ианыҵуан. Убас еиԥш Иегова ҳагәнаҳақәа ҳхыхра адагьы, урҭ ыҟамызшәа ианихуеит. Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи ари! (Аԥсал. 51:9).

«Шәыгәнаҳақәа шәанажьхарц [аныххарц] азы» (Аус. 3:19)


12. Иаҳирҵозеи Иегова аԥҭа жәпақәа рыӡбахә аниҳәо?

12 Иегова ҳагәнаҳақәа шанихуа ҳаилиркаарц азы даҽа ҿырԥштәыкгьы ихы иаирхәеит. Иара иҳәоит: «Сара уцәгьоурақәа ыҟамшәа ианысхуеит, аԥҭала еиԥш ихызҩоит, угәнаҳақәагьы аԥсҭҳәа жәпақәа рыла исҵәахуеит» (Ис. 44:22). Иегова ҳагәнаҳақәа анҳанаижьуа, инықәырԥшны иуҳәозар, урҭ ҳаргьы иҳамбо, иаргьы имбо аԥҭа жәпала ихиҩоит.

«Сара уцәгьоурақәа ыҟамшәа ианысхуеит, аԥҭала еиԥш ихызҩоит» (Ис. 44:22)


13. Шәхы шԥажәбо Иегова шәыгәнаҳақәа аншәанаижьуа?

13 Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьзар, урҭ рзы уаҳа ҳхы ахара адҳамҵалароуп. Ҳагәнаҳақәа иузымыӡәӡәо ашәыта еиԥш иҳанхалаӡом. Иисус Христос икеиҭәаз ишьа ҳуалқәа ҳахнахуеит. Урҭ рыӡбахәҵәҟьагьы џьаргьы ианӡам. Убас ауп Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанрыхьхәуа ишҳанаижьуа.

ИЕГОВА ИАРЕИ ҲАРЕИ ҲАИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА ЕИҬАШЬАҚӘИРГЫЛОИТ

Жәҩантәи Ҳаб ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа абзоурала ҳаиҩызахар ҳалшоит. (Шәахәаԥш абзац 14.)


14. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова ишәанасыжьит ҳәа иҳәозар, ишҳанаижьҵәҟьаз? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

14 Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа абзоурала иара ҳаиҩызахар ҳалшоит, насгьы ҳхы ахара адҳамҵалар ауеит. Ҳара Анцәа уажәгьы игәы ҳзыԥжәошәа, насгьы ҳахьирхәырц иҭахушәа ҳамшәалароуп. Иегова ус дыҟаӡам! Иара ишәанасыжьуеит ҳәа иҳәозар, уи агәра ҳгалар ҳалшоит. Аԥааимбар Иеремиа Анцәа иажәақәа аниҵеит: «Сара урҭ рыгхақәа ранасыжьуеит, рыгәнаҳақәагьы уаҳа исгәаласыршәаӡом» (Иер. 31:34). Ауриацәа 8:12 аҿы апостол Павел уи азхәыцра дырҩегь иҳәеит. Ҵакыс ирымоузеи Иегова «уаҳа исгәаласыршәаӡом» ҳәа ииҳәаз ажәақәа?

«Сара урҭ... рыгәнаҳақәагьы уаҳа исгәаласыршәаӡом» (Иер. 31:34)


15. Ишԥеилкаатәу Иегова ҳагәнаҳақәа уаҳа иахьигәаламшәо?

15 Ажәа «агәаларшәара» Абиблиаҿы «анкьа иҟалаз акы азхәыцра» адагьы, даҽа ҵакыкгьы амоуп. Уи акы аҟаҵара аанагозар ауеит. Иаҳҳәап, Иисус ицыкнарҳаз ацәгьаҟаҵаҩ данԥсуаз абас диҳәеит: «Иисус, Уаҳрахь уаннеилак, сугәаларшәа» (Лука 23:42, 43). Иара Иисус ак изыҟаиҵарц диҳәеит, баша дизхәыцырц мацара акәымкәа. Иисус уи ауаҩы иԥсы шҭеиҵо дақәиргәыӷит. Убри аҟынтә Иегова ҳагәнаҳақәа уаҳа игәалашәаӡом ҳәа аниҳәо, уи иаанагоит ишҳанаижьыз, насгьы урҭ рзы уажәгьы аԥхьаҟагьы ҳшахьимырхәуа.

16. Иҳауазеи Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа абзоурала?

16 Ҳахәаԥшып даҽа ҿырԥштәык. Уи Иегова иахьҳанаижьуа абзоурала иҳауа ахақәиҭра ахә ҳаракны ашьара иҳацхраауеит. Ҳанамӡара иахҟьаны Абиблиаҿы агәнаҳа амаҵуцәа ҳәа ҳазҳәоуп. Аха Иегова иахьҳанаижьуа абзоурала «агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра [ҳауит]» (Рим. 6:17, 22; Аат. 1:5). Ҳара акыршықәса иҭакыз ауаҩы ахақәиҭра аниоуа ихы шибо еиԥш ҳхы ҳбоит.

«Агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра [шәоуит]» (Рим. 6:22)


17. Ҳашԥахәышәтәуеи Иегова иҟынтә иҳауа анажьра? (Исаиа 53:5).

17 Шәаԥхьа Исаиа 53:5. Абиблиаҿы иануп ҳара агәнаҳа ҳахьаҵоу иахҟьаны аԥсрахьы уназго ачымазара змоу ауаа ҳашреиԥшу. Аха аҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала ҳара ҳхәышәтәын (1 Пиотр 2:24). Агәнаҳа Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахуеит, аха аҿыхра дырҩегь Анцәа иҩызахара алшара ҳнаҭоит. Ауаҩы ачымазара бааԥс даналҵлак, ҿыц дизшәа игәы ҭгәырӷьаауеит. Убас еиԥшҵәҟьа ҳаргьы доуҳала ҳаныхәышәтәхо ҳгәы ҭгәырӷьаауеит, насгьы Иегова иразра шҳамоу ҳбоит.

«Ихәрақәа ҳархәышәтәит» (Ис. 53:5)


ИЕГОВА ҲАГӘНАҲАҚӘА АХЬҲАНАИЖЬУА АХӘ ШӘШЬАЛА

18. Иҳаилдыркаазеи Иегова ишҳанаижьуа узырбо абиблиатә ҿырԥштәқәа? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иегова ишҳанаижьуа».)

18 Иҳаилдыркаазеи Иегова ишҳанаижьуа узырбо аҿырԥштәқәа? Иара ҳагәнаҳақәа анҳанаижьуа, урҭ аҵыхәтәанынӡа иҳанаижьуеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит урҭ рзы аԥхьаҟа ҳшахьимырхәло. Уи абзоурала жәҩантәи Ҳаби ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазар алшоит. Убри аамҭазгьы иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова иахьҳанаижьуа — уи шҳамҭоу. Ҳара уи зҳауз ҳахьаԥсахаз азы акәӡам, Иегова бзиа ҳахьибо, насгьы ҳзыԥсам ақьиара ахьааирԥшуа азоуп (Рим. 3:24).

19. а) Зыхә ҳаракны ишәшьозеи шәара? (Римаа 4:8). б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

19 Шәаԥхьа Римаа 4:8. Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа ахә ҳаракны иаҳшьоит! (Аԥсал. 130:4). Аха Анцәа иҳанаижьларц азы ак ҟаҳҵароуп. Иисус абас иҳәеит: «Ауаа рыгәнаҳақәа ранашәмыжьлар, жәҩантәи Шәабгьы шәыгәнаҳақәа шәанаижьӡом» (Матф. 6:14, 15). Убри аҟынтә Иегова ҳаиҿыԥшны егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьлар хадоуп. Анаҩстәи астатиа аҟны ҳалацәажәоит уи аҿы иҳацхраауа.

АШӘА 46 Иҭабуп, Иегова

a Ауриатә текст аҿы ара игылоу ажәақәа иара убас еиҭоугар ауеит «уара уоуп инагӡаҵәҟьаны анажьра зылшо» ҳәа. Ус анажьра зылшо Иегова заҵәык иоуп.