АҴАРАЗЫ АСТАТИА 6
АШӘА 18 Аҿыхразы аџьшьара ааҳарԥшуеит
Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Уи ахә ҳаракны изаҳшьо
«Анцәа адунеи убриаҟара бзиа ибеит, Иԥазаҵәгьы димеигӡакәа ауаа дриҭеит» (ИОАНН 3:16).
ЕИЛАҲКААУА
Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц азы иҟаиҵаз. Уи иаҳзыҟаиҵаз еиҳагьы ахә ашьара иҳацхраауеит.
1, 2. Ҳазлаиеиԥшузеи актәи абзац аҿы зыӡбахә ҳәоу аҷкәын?
ШӘХАҾЫ даажәг ибеиаз аҭаацәараҿы изызҳаз ҷкәынак. Иани иаби амашәыр иақәшәан, иԥсит. Иара цәгьала дгәырҩоит. Аха уи ала игәаҟрақәа нымҵәаӡеит. Иара еиликааит иани иаби ирымаз-ирыхӡыз зегь хыда ишнырхыз, иҭынхаз руалқәа мацара роуп. Зуал рықәыз аԥара ырхынҳә ҳәа дыркит, аха уи убриаҟара идууп, ахаан изшәараны дыҟаӡам.
2 Ҳара уи аҷкәын ҳиеиԥшуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ҳазхылҵыз Адами Евеи инаӡаз уаан, насгьы зеиԥшыҟамыз џьанаҭ аҿы инхон (Аҟаз. 1:27; 2:7—9). Дара наӡаӡа аԥсҭазаара бзиа иалагәырӷьалар рылшон. Аха нас хҭыс бааԥск ҟалеит — дара агәнаҳа ҟарҵеит. Уи иахҟьаны ҩныс ирымаз џьанаҭи наӡаӡа анхаразы алшареи рцәыӡит. Ирзынрыжьыр рылшози аԥхьаҟа ирхылҵуаз рхәыҷқәа? Абиблиа ари азҵаара аҭак абас иҟанаҵоит: «Аӡәы заҵәык [Адам] ихҟьаны адунеи агәнаҳа иаҵалеит, агәнаҳа аԥсра ахылҿиааит, убасала ауаа зегьы аԥсра рыхьӡеит, избанзар зегьы агәнаҳа иаҵалеит» (Рим. 5:12). Адам иаҳзынижьыз аԥсрахьы ҳназго агәнаҳа ауп. Уи аӡәымзар аӡәгьы зшәара илымшо ауал ду иаҩызоуп (Аԥсал. 49:8).
3. Избан агәнаҳақәа ауалқәа ирҿурԥшыр залшо?
3 Иисус агәнаҳақәа ауалқәа ирҿирԥшит (Матф. 6:12; Лука 11:4). Ҳара агәнаҳа аныҟаҳҵо, Иегова иҿы акы уалла иаҳгошәа иаҩызоуп. Иара ауал шәырхынҳә ҳәа ҳаҳәара азин имоуп. Ауал ҳзымшәар, уи хызҩар алшо — аԥсра заҵәык ауп (Рим. 6:7, 23).
4. а) Ирылшома ауаа Адами Евеи ирцәыӡыз архынҳәра? (Аԥсалом 49:7—9). б) Ишԥаҳаилнаркаауеи Абиблиа ажәа «агәнаҳа» ҵакыс иамоу? (Шәахәаԥш арамка « Агәнаҳа».)
4 Иузырхынҳәуама Адами Евеи ирцәыӡыз? Уи ҳхала ҳалагазҭгьы, акгьы ҳзалҵӡомызт. (Шәаԥхьа Аԥсалом 49:7—9.) Иегова ида наӡаӡа анхареи аԥсҭалареи рзы ахаан агәыӷра ҳаурымызт. Ҳара аԥстәқәа реиԥш ҳаԥслон. Уазхәыцуазар, урҭ ҳазлареиӷьхоз ҳәа акгьы ҟаломызт (Еккл. 3:19; 2 Пиотр 2:12).
5. Дышԥаҳацхрааи бзиа ҳазбо Ҳаб Адам иаҳзынижьыз ауал ашәара? (Шәахәаԥш асахьа.)
5 Даҳгәалаҳаршәап астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз аҷкәын. Уаҩ беиак ууалқәа зегь сшәоит ҳәа иеиҳәазҭгьы, уи даара деигәырӷьон, иааирԥшыз аҳалалрагьы ахә ҳаракны ишьон. Убасҵәҟьа бзиа ҳазбо Ҳаб Иегова ҳуал ишәарц иӡбеит — Адам иҟынтә иаҳҭынхаз агәнаҳа. Иисус иҳаилиркааит Иегова уи аҩыза аҳамҭа ҟаиҵарц игәазҭазҵаз: «Анцәа адунеи убриаҟара бзиа ибеит, Иԥазаҵәгьы димеигӡакәа ауаа дриҭеит, уи дхазҵо дарбанзаалак дҭамхарц азы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы» (Иоанн 3:16). Уи адагьы, уи аҳамҭа Иегова иҩызахара алшара ҳнаҭоит.
6. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы, насгьы избан?
6 Ишԥахнаҩо аҿыхра ҳагәнаҳақәа? Уи азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы абиблиатә жәақәак рҵакы ҳалацәажәоит. Урҭ ажәақәа рҵакы хаз-хазы ҳанрызхәыцлак, Иегова ҳагәнаҳақәа ҳхихырц азы ҳара ҳзы иҟаиҵаз еиҳагьы ахә ҳаракны иаҳшьалоит.
АХЫҚӘКЫ: АИНЫШӘАРА
7. а) Ирцәыӡзеи иҵегьы Адами Евеи, наӡаӡа анхаразы алшара адагьы? б) Ишԥарныри Адами Евеи рҳәатәхамҵара ирхылҵыз зегьы, насгьы иҟаҳҵар акәзеи ҳара уи иахҟьаны? (Римаа 5:10, 11).
7 Адами Евеи наӡаӡа анхаразы алшара рцәыӡит. Аха уи мацара акәӡам. Дара Раб Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа ԥхасҭартәит. Адами Евеи Анцәа ихәыҷқәа ракәын (Лука 3:38). Аха иҳәатәы ианахыԥа, иаӷацәа ракәхеит. Убри аҟынтә Анцәа иҭаацәара иахәҭакны иаанхартә имуӡеит. Иҟарҵаз иахҟьаны ирхылҵыз зегьы, ҳаргьы уахь ҳналаҵаны, агәнаҳа иаҵалеит (Аҟаз. 3:23, 24; 4:1). Убри аҟынтә ҳара Анцәа ҳаинышәар ауп. (Шәаԥхьа Римаа 5:10, 11.) Еилыркаагатә усумҭак аҿы абырзен ажәа «аинышәара» иаанагоит «аиӷарара рыбжьыхра, насгьы ҩызас аҟалара». Иџьоушьап, аха Иегова иоуп аинышәаразы раԥхьатәи ашьаҿа ҟазҵаз. Ишԥаҟаиҵеи уи?
ИЗЫБЗОУРОУ: ҲАГӘНАҲАҚӘА ҲХИХУЕИТ
8. а) Ииӡбазеи Иегова ауааи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргыларц азы? б) Ишԥеидҳәалоу агәнаҳақәа рхыхреи аинышәареи?
8 Агәнаҳа ҟазҵаз ауааи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргыларц азы Иегова урҭ рыгәнаҳақәа рхихырц иӡбеит. Уи абзоурала иуцәыӡыз архынҳәра улшоит. Уи азы иуцәыӡыз иаҟароу ахә шәатәуп. Агәнаҳақәа рхыхра ада Анцәа иҩызахареи иҭынчу аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи залшом. Уи ус шакәу ҳнарбоит Римаа 3:25 аҿы «аинышәара» ҳәа еиҭагоу ажәа. Уи ажәа ҵакыла «агәнаҳақәа рхыхра» иазааигәоуп.
9. Иарбан лшароу Иегова ажәытәан израильаа ириҭаз рыгәнаҳақәа ранажьхарц азы?
9 Иегова израильааи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәгыларц азы рыгәнаҳақәа ранажьхарц алшара риҭеит. Есышықәса дара Агәнаҳақәа рхыхра амш азгәарҭон. Уи амш азы аԥшьаҩ хада аԥстәқәа кәырбанс инеигон. Ҳәарада, урҭ акәырбанқәа инагӡаны ауаа рыгәнаҳақәа рыхнахӡомызт, избанзар ауаҩы ихәи аԥстәы ахәи еиҟараӡам. Аха израильаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәны Иегова ишиҭахыз еиԥш акәырбанқәа аннаргоз, иара рыгәнаҳақәа ранаижьуан (Аур. 10:1—4). Урҭ акәырбанқәа израильаа иргәаладыршәон агәнаҳа ишаҵоу, насгьы рыгәнаҳақәа инагӡаны ихызҩо ак шырҭаху.
10. Иҟаиҵеи Иегова ауаатәыҩса рыгәнаҳақәа ранаижьырц азы?
10 Иҟаиҵеи Иегова ауаатәыҩса рыгәнаҳақәа ранаижьырц азы? Иара бзиа иибоз Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит, уи «знык ауп ихы кәырбанс иахьнеигаз, ирацәаҩны ауаа рыгәнаҳақәа рхихырц азы» (Аур. 9:28). Иисус ирацәаҩны ауаа иԥсы рыхҭынҵаны иҿихит (Матф. 20:28). Изакәызеи аҿыхра?
АХӘ: АҾЫХРА
11. а) Изакәызеи аҿыхра, Абиблиа инақәыршәаны? б) Изылшодаз ҳҿыхра?
11 Абиблиаҿы аҿыхра a иаанагоит агәнаҳақәа рхыхреи аинышәареи рзы ишәоу ахә. Аҿыхра Иегова алшара инаҭоит Адам ирӡыз архынҳәра. Иара инаӡоу аԥсҭазаареи наӡаӡа анхаразы алшареи ицәыӡит. Аҿыхра уи иақәнагоу ахә ашәар акәын (1 Тим. 2:6). Ус анакәха, уи ахә ахшәаара зылшоз 1) инаӡаз, 2) наӡаӡа адгьыл аҿы анхаразы алшара змаз, насгьы 3) зыԥсы ҳахҭынҵара иазхиаз ахаҵа иакәын. Убас иҟаз ауаҩы иԥсҭазаара заҵәык акәын Адам ицәыӡыз ахә ахшәаара зылшоз.
12. Избан Иисус ҳҿызхуаз ахә ҳахшәаара зилшаз?
12 Шәааи ҳрылацәажәап Иисус ҳҿызхуаз ахә ҳахшәаара илзыршаз х-мзызк. 1) Иара днаӡан, насгьы «гәнаҳас ҳәа акгьы ҟаимҵаӡеит» (1 Пиотр 2:22). 2) Убри аҟынтә наӡаӡа адгьыл аҿы дынхалар илшон. 3) Иара аԥсреи иԥсҭазаара ҳахҭынҵареи дазхиан (Аур. 10:9, 10). Иисус днаӡан азы иԥсҭазаара Адам агәнаҳа ҟаиҵаанӡа иԥсҭазаара иаҟаран (1 Кор. 15:45). Убри аҟынтә Иисус иԥсхҭынҵарала Адам ицәыӡыз ҳазирхынҳәит (Рим. 5:19). Убас Иисус «аҵыхәтәантәи Адам» иакәхеит. Инаӡоу даҽа уаҩык дааны Адам ицәыӡыз ҳхишәаар акәӡам. Иисус знык дыԥсит, насгьы «ауаа наӡаӡа ахәарҭа рзаазго акәырбан неигеит» (Аур. 7:27; 10:12).
13. Излеиԥшымзеи агәнаҳақәа рхыхреи аҿыхреи?
13 Излеиԥшымзеи агәнаҳақәа рхыхреи аҿыхреи? Агәнаҳақәа рхыхра — уи Анцәа ауааи иареи реизыҟазаашьа бзиақәа еиҭашьақәиргыларц азы иҟаиҵаз шьаҿоуп. Аҿыхра — уи ауаатәыҩса зегьы рыгәнаҳақәа рхыхразы ишәаз ахә ауп. Уи ахә Иисус ҳара ҳзы икеиҭәаз зыхә ҳараку ишьа ауп (Еф. 1:7; Аур. 9:14).
АЛҴШӘАҚӘА: ИЕГОВА АГӘНАҲАИ АԤСРЕИ РҞЫНТӘ ҲХЫ ҲАҚӘИҬИТӘУЕИТ, НАСГЬЫ ҲУАА ИАШАҚӘАНЫ ҲИԤХЬАӠОИТ
14. Еилҳаргозеи анаҩс, насгьы избан уи зеилҳаргоу?
14 Иаҳнаҭои агәнаҳақәа рхыхра? Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы шәааи Абиблиа иану ҩ-зхәыцрак ҳрылацәажәап. Урҭ азхәыцрақәа Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьыз еиҳагьы ахә ҳаракны ашьара иҳацхраауеит.
15, 16. а) Иарбан хақәиҭроу аҿыхра абзоурала иҳауз? б) Шәхы шԥажәбо, агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра шәоур шшәылшо шәаназхәыцуа?
15 Абиблиа ишҳаилнаркаауа ала, аҿыхра агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭоит. Апостол Пиотр уи абас дахцәажәеит: «Ишыжәдыруа еиԥш, шәабацәа рҟынтә ишәҭынхаз ҵакы змам аԥсҭазаара аҟынтә ахақәиҭра шәызҭаз ахьи араӡни реиԥш ииаӡаауа ак акәӡам. Ахақәиҭра шәызҭаз зыхә ҳараку Христос ишьа ауп. Иара гра змам асыс даҩызоуп» (1 Пиотр 1:18, 19).
16 Иисус иԥсхҭынҵара абриаҟара агәаҟрақәа ҳзаазго агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭар алшоит (Рим. 5:21). Ҳара Иеговеи Иисуси ахақәиҭра ахьҳарҭаз даара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Уи злалшаз Христос зыхә ҳараку ишьа, даҽакала иуҳәозар, иԥсҭазаара абзоурала ауп (1 Кор. 15:22).
17, 18. а) Иаанагозеи ҳара ҳзы Иегова ҳуаа иашақәаны ҳахьиԥхьаӡо? б) Шәхы шԥажәбо, Иегова шәуаҩ иашаны шәшиԥхьаӡаз шәаназхәыцуа?
17 Абиблиаҿы иануп Иегова имаҵзуҩцәа уаа иашақәаны ишиԥхьаӡо. Уи иаанагоит ҳагәнаҳақәа рыхә рыхшәаара шҳахәҭам. Убри аамҭазы иара аиашара иазку инормақәагьы еилеигаӡом. Иара ҳуаа иашақәаны ҳзиԥхьаӡо уи ҳахьаԥсахаз азы акәӡам, насгьы ҳагәнаҳақәа хырҩа ахьырзиуа азы акәӡам. Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит, избанзар ҳагәнаҳақәа ҳхыхзарц азы Иԥеи иареи иҟарҵаз агәра ҳгоит (Рим. 3:24; Гал. 2:16).
18 Иаанагозеи уи ҳара зегь ҳзы? Иисус ажәҩан аҿы напхгара ицзуло уаа иашақәаны иԥхьаӡоуп, насгьы Анцәа ихәыҷқәа ракәны иҟалеит (Тит 3:7; 1 Иоанн 3:1). Иегова урҭ ахаан агәнаҳа ҟарымҵацызшәа рыгәнаҳақәа рхихит. Убри аҟынтә дара аҳцәас, насгьы ԥшьаҩцәас амаҵ аура рылшоит (Рим. 8:1, 2, 30). Наӡаӡа адгьыл аҿы анхара иақәгәыӷуа уаа иашақәаны иԥхьаӡахоит, насгьы Анцәа иҩызцәахоит (Иак. 2:21—23). Урҭгьы рыгәнаҳақәа рхыхуп. Армагеддон зхызго ԥхьаӡашьак змам ауаа ахаан имԥсыртә алшара рымоуп (Иоанн 11:26). Иԥсхьоу «ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы» рыԥсы ҭаҵахоит (Аус. 24:15; Иоанн 5:28, 29). Адгьыл аҿы инхало Иегова изыӡырҩло имаҵзуҩцәа аамҭак ашьҭахь «Анцәа ихәыҷқәа ирымоу зеиԥшыҟам ахақәиҭра» роуеит (Рим. 8:21). Закәытә ԥсҭазаара бзиоузеи агәнаҳақәа рхыхра абзоурала иаҳзыԥшу — ҳара Ҳаб Иегова ҳаинышәоит, насгьы инаӡоу ихәыҷқәа ҳакәхоит!
19. Аҽшԥаԥсахи ҳҭагылазаашьа Иеговеи Иисуси рыбзоурала? (Шәахәаԥш иара убас арамка « Уи ҳара ҳзы иаанаго».)
19 Ааи, аҵабырг еилаҳкаанӡа ҳара имаз-ихӡыз зегь зцәыӡыз, насгьы ахаан дызҵымҵуа ауал зҭынхаз аҷкәын ҳиеиԥшын. Аха Иегова ибзоурала ҳҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Иара ҳагәнаҳақәа ҳхихырц иӡбеит, насгьы аҿыхра ахә ишәеит. Иисус Христос иахь иааҳарԥшуа ахаҵара иаҳҭынхаз агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭоит. Иара убас Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит, убри аҟынтә урҭ ахаан иҟаҳамҵацызшәа дҳахәаԥшуеит. Аха зегь раасҭа ихадоу, уажәшьҭа Иеговеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп.
20. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
20 Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз ҳаназхәыцуа, ҳгәы џьшьарала иҭәуеит (2 Кор. 5:15). Урҭ ракәмызҭгьы ахаан агәыӷра ҳаурымызт! Анаҩстәи астатиаҿы Абиблиа аҟынтә ҿырԥштәқәак ҳрылацәажәоит. Урҭ иаҳдырбоит Иегова ҳагхақәа анҳанаижьуа, уаҳа ҳхы ахара адҳамҵалар шҳалшо.
АШӘА 10 Дшәырҽхәала Ҳанцәа Иегова!
a Бызшәақәак рҿы ажәа «аҿыхра» «аԥсҭазаара ахә», ма «ишәоу ахә» ҳәа ҵакыс измоу ажәақәа рыла еиҭагоуп.