АБИОГРАФИА
«Сара ахаангьы сымацара сыҟаӡамызт»
АԤСҬАЗААРАҾЫ ухы заҵәны иубартә уҟазҵо аҭагылазаашьақәа рацәаны иҟоуп: иузааигәоу даныԥсуа, иузымдыруа аҭыԥ ахь нхара уаниасуа, иара убас уҩызцәа ануцәыхарахо. Ари зегьы сара исыхҭысхьеит. Аха сыԥсҭазаара саназхәыцуа, еилыскаауеит схала ахаангьы сшыҟамыз. Ус зысҳәо шәзеиҭасҳәар сҭахуп.
СҬААЦӘА РҾЫРԤШЫ
Сани саби католикцәан. Урҭ акгьы агмыжькәа уи адинхаҵара иаҵанакуаз зегь нарыгӡон. Аха Абиблиа аҟынтә Анцәа Иегова шихьӡу анеилыркаа, Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалеит, гәацԥыҳәаралагьы имаҵ аура иалагеит. Саб Иисус исахьақәа иҭаԥҟаны аҟаҵара даҟәыҵит. Уи аҭыԥан уасҭак иаҳасабала илаз аҟазара ихы иархәаны, ҳаҩны ҵаҟатәи ауадақәа Аҳратә зал рылихит. Уи Филиппина аҳҭнықалақь Мани́ла азааигәара иҟаз Сан-Хуа́н-дель-Мо́нте зегь раԥхьатәи Аҳратә зал акәын.
Сара сиит 1952 шықәсазы. Ҳҭаацәараҿы ааҩык ахшара среиҵбын. Сара ԥшьҩык аишьцәеи хҩык аиҳәшьцәеи сыман. Ҳҭаацәа Иегова иахь абзиабара ҳаларааӡон. Саныҩеидас саб сгәазҭеиҵеит Абиблиа аҟынтә есыҽны хык саԥхьаларц. Уи адагьы, Иегова ибзианы деилыскаарц азы саби сареи ҳорганизациа иҭнажьуа еиуеиԥшым апубликациақәа ҳрыԥхьон. Зны-зынла ҳҭаацәа араион ахылаԥшыҩцәеи афилиал аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи аҩныҟа иаарыԥхьон. Урҭ еиҭарҳәоз ахҭысқәа ҳгәырӷьаҵәа ҳарзыӡырҩуан. Уи абзоурала Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадаз усны иҟалеит.
Сҭаацәа исдырҵаз рацәоуп. Дара зхаҵара ӷәӷәаз уаан. Урҭ сара сзы иҿырԥшыган. Бзиа избоз сан даачмазаҩхан, дыԥсит. Уи ашьҭахь саби сареи пионерс амаҵ аура ҳалагарц ҳаӡбеит. Уи 1971-тәи ашықәс акәын. 1973 шықәсазы, 20 шықәса анысхыҵуаз сабгьы дыԥсит. Сани саби анԥсы, ӷәӷәала сгәырҩон, схы заҵәны избон. Аха Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра узықәгәыӷыртә иҟоу, иӷәӷәоу ԥырсалны исзыҟалеит (Аур. 6:19). Уи сыцхрааит сгәы акамыжьра, Иеговагьы иқәгәыӷра. Саб данԥсы ашьҭахь хара имгакәа апровинциа Пала́ван иҟоу ихароу адгьылбжьаха Коро́нҟа сцаны иҷыдоу пионерс амаҵ зуларц сыдыргалеит. Саргьы сақәшаҳаҭхеит.
ИМАРИАМ АДҴАҚӘА СЫМАЦАРА ИНАСЫГӠОИТ
Адгьылбжьаха Коронҟа саниас, 21 шықәса схыҵуан. Сара ақалақь ду аҿы исызҳаит, убри
аҟынтә уамашәа избеит алашареи аӡи змаз ахьмаҷҩыз, амашьынақәеи амотоциклқәеи зынӡа рыӡбахә сҳәаӡом. Адгьылбжьахаҿы аишьцәа ԥыҭҩык шыҟазгьы, сара заҵәык сакәын пионерс амаҵ зуаз. Убри аҟынтә лассы-лассы схала ажәабжьҳәара сцон. Арахь саниас раԥхьатәи амзазы сҭаацәеи сҩызцәеи даараӡа игәхьаазгон. Исгәалашәоит уахынла еҵәала ихҟьаз ажәҩан саҵаԥшны сышҵәыуоз. Сара схәыцуан: «Уаҳа сылшом! Аҩныҟа схынҳәыроуп».Убасҟан сара Иегова гәыҭыӷьӷьаала зегьы изеиҭасҳәон. Абиблиеи апубликациақәеи рҟынтә сзыԥхьаз, сгәы шьҭызхуаз азхәыцрақәа сгәаласыршәон. Лассы-лассы схаҿы иааиуан Аԥсалом 19:14 аҿы иану ажәақәа. Сара еилыскааит: Иегова «сара Сыцаҟьа, сара Сҿыхҩы» иакәны дҟаларц азы, иусқәеи иҟазшьақәеи срызхәыцлар шсыхәҭоу. Сара даараӡа исыцхрааит «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Уара ухала уҟаӡам» a. Уи астатиа саԥхьон, сеиҭаԥхьон. Сара схала сыҟаӡамызт — Иегова дсыцын. Уи Анцәа иҳәареи, схатә ҭҵаара амҩаԥгареи, сзыԥхьоз азхәыцреи рзы лшара бзиан.
Корон санааи ашьҭахь хара имгакәа аизара ахылаԥшҩыс сҟалеит. Аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуаз сара заҵәык сакәын. Убри аҟынтә Атеократиатә маҵзура ашколи, амаҵзуратә еиԥылареи, аизараҿы Абиблиа аҵареи, «Ахьчаратә бааш» аҵареи мҩаԥызгоз сара сакәын. Иара убас есымчыбжьа ажәахәқәа сыманы сықәгылон. Ишыжәбо ала, схы заҵәны избартә еиԥш зынӡа аамҭа сымамызт!
Корон амаҵзура алҵшәа бзиақәа аанагон — Абиблиа зсырҵоз шьоукы аӡы рыҽӡаархит. Аха ауадаҩрақәагьы ыҟан. Зны-зынла ажәабжь ахьысҳәоз аҭыԥ аҟынӡа снеиаанӡа амш абжа цон, арахь сахьаангыло ҳәа акгьы сыздырӡомызт. Ҳаизара атерриториа ирацәаны адгьылбжьаха хәыҷқәагьы аҵанакуан. Уахь амотор зықәгылаз анышь ала сцон. Лассы-лассы амш аныцәгьазгьы сықәшәон, ма аӡсашьа здыруандаз! Аха даара ианысцәыцәгьазгьы Иегова сихьчон, насгьы дсыцхраауан. Ԥыҭрак ашьҭахь еилыскааит убас иара еиҳагьы иуадаҩыз адҵа сшазыҟаиҵоз.
ПАПУА — ГВИНЕИА ҾЫЦ
1978 шықәсазы Па́пуа — Гвине́иа ҿыцҟа срышьҭит. Уи территориала Испаниа аҟара иҟоу, Австралиа аҩадахьы ишьҭоу ишьхароу тәылоуп. Уа инхо х-миллионҩык ауаа 800 бызшәа инареиҳаны рыла ишцәажәо ансаҳа даара иџьасшьеит. Сара даара сеигәырӷьеит абжеиҳараҩык ток-пи́син ҳәа еицырдыруа меланезиитәи пи́джин абызшәала иахьцәажәоз.
Сара аамҭала атәыла аҳҭнықалақь Порт-Мо́рсби аҿы иҟаз англыз бызшәала имҩаԥысуаз аизарахь срышьҭит. Нас ток-писин абызшәала имҩаԥысуаз аизарахь сиасит, насгьы абызшәа аҵаразы иҟоу акурсқәа рахь сыҽҭазҩит. Исҵоз иаразнак ажәабжьҳәараҿы схы иасырхәон. Уи сыцхрааит абызшәа еиҳа ирласны аҵара. Иаарласны ток-писин абызшәала ажәахә сыманы сықәгылеит. Шаҟа иџьасшьазеи шықәсык ҵаанӡа уи абызшәала имҩаԥысуаз аизарақәа сырҭааларц азы араионтә маҵзура ансыдырҵа.
Сара акымкәа-ҩбамкәа апровинциа дуқәа рҿы иҟаз аизарақәа сырҭаалар акәын.
Аизарақәа еицәыхаран аҟынтә, араионтә конгрессқәа рацәаны еиҿыскаалар акәын. Убри аҟынтә есымша амҩа сықәын. Раԥхьа схы заҵәны избон. Атәыла, абызшәа, аҵасқәа — сара сзы зегь ҿыцын. Уи ишьхараз ҭыԥын, амҩақәа ҳәа акгьы ыҟаӡамызт. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынӡа снеирц азы есымчыбжьа уҳәаратәы аҳаирплан ала сԥырлар акәын. Зны-зынла иҟәарҟәаруаз ҳаирплан хәыҷык аҿы пассаџьырс иҟаз сара заҵәык сакәын. Саныԥыруаз, уаанӡа сшәаԥырҳаԥуа анышь ала амшын санхыз еиԥш схы збон!Аҭел змаз маҷҩын, убри аҟынтә аизарақәа асаламшәҟәқәа рзысыҩуан. Лассы-лассы сысаламшәҟәқәа аишьцәа рҟынӡа инеиаанӡа сара снеиуан. Убри аҟынтә уа инхоз ауаа Иегова ишаҳаҭцәа абасыԥшаари ҳәа сразҵаауан. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь саннеиуаз, дара гәыҭбаарала исԥылон. Усҟан баша аџьабаа шысымбаз еилыскаауан. Сара Иегова дышсыцхраауаз есымша избон. Уи абзоурала еиҳагьы сизааигәахеит.
Раԥхьаӡа адгьылбжьаха Бугенви́ль санаҭаа хаҵеи-ԥҳәыси аасыдгылан, иҿаԥха-ҿаччо ус исазҵааит: «Ҳаугәалашәома?» Урҭ Порт-Морсби саныҟаз зегь раԥхьа ажәабжь бзиа ззеиҭасҳәаз иреиуан. Сара урҭ Абиблиа дырҵара салагеит, нас уатәи иашьак идирҵаларц сиҳәеит. Анаҩс рҩыџьагьы аӡы рыҽӡаархзаап! Уи Папуа — Гвинеиа ҿыц хышықәса амаҵ анызуаз Иегова исзыҟаиҵаз аҳамҭақәа иреиуан.
ГӘАЦԤЫҲӘАРАЛА ИЕГОВА ИМАҴ ЗУА ҲҬААЦӘАРА ХӘЫҶ
1978 шықәсазы, Корон амаҵ анызуаз, иԥшӡаз, зхы иамеигӡаӡакәа пионерс амаҵ зуаз Аде́ль слабадырит. Лара лхала ҩыџьа ахәыҷқәа, Самуе́льи Ши́рлии, лааӡон, насгьы зықәрахь инеихьаз лан дылхылаԥшуан. Маи мза, 1981 шықәсазы Филиппинаҟа саныхынҳә, Адельи сареи ҳаибагеит. Ҳчара ашьҭахь пионерс амаҵ еицаҳуан, насгьы ҳҭаацәара ҳархылаԥшуан.
Сара аҭаацәара сшалалазгьы, 1983 шықәсазы исыҳәеит апровинциа Палаван иҟоу адгьылбжьаха Лина́пакан сиасны, уа иҷыдоу пионерс амаҵ зуларц. Ҳара ҭаацәаныла ихароу уи адгьылбжьахахь ҳаиасит. Уа Иегова ишаҳаҭцәа ыҟаӡамызт. Шықәсык ашьҭахь Адель лан дыԥсит. Аха ҳара адоуҳатә усқәа ҳарҿын аҟынтә, ахьаа ахгара ҳалшеит. Линапакан ҳара Абиблиа ҵара бзиақәа рацәаны иҳаман. Убри аҟынтә идумыз Аҳратә зал аҭаххеит, уи ҳхала иҳаргылеит. Хышықәса заҵәык рышьҭахь Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь 110-ҩык ааит. Урҭ реиҳараҩык рыҽӡаархит. Ҳгәырӷьара ҳәаа амамызт!
1986 шықәсазы сара адгьылбжьаха Кулио́нҟа срышьҭит. Уаҟа ацәеилабаара змаз ауаа ахьынхоз аҭыԥ ыҟан. Ԥыҭрак ашьҭахь Адельгьы иҷыдоу пионерс амаҵ аура далагеит. Раԥхьа урҭ ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара ҳшәон. Аха аҭыԥантәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҳарҳәеит урҭ аҽыхәышәтәра ишаҿу, убри аҟынтә рчымазара шамахамзар егьырҭ рахь ишмиасуаз. Ачымазаҩцәа шьоукы ҳаҳәшьак лыҩны имҩаԥысуаз аизарахь иныҟәон. Иаарласны ҳаргьы урҭ ҳрышьцылеит. Ҳара даара ҳаигәырӷьон урҭ Абиблиа иану аҵабырг рзеиҭаҳәара, избанзар дара Анцәагьы ауаагьы ирҭахымызшәа Лука 5:12, 13).
ргәы иабон. Адунеи ҿыц аҿы агәабзиара шроуа анеилыркаауаз, уи ргәы арԥхон (Ишԥарбеи ҳхәыҷқәа Кулионҟа ҳахьиасыз? Адельи сареи урҭ аҩызцәа бзиақәа рымазар ҳҭахын. Убри аҟынтә Корон инхоз ҩыџьа иқәыԥшыз аиҳәшьцәа Кулионҟа ииасырц рыдаҳгалеит. Самуельи, Ширлии, урҭ ҩыџьа аиҳәшьцәеи аҭыԥантәи ахәыҷқәа рацәаҩны Абиблиа ддырҵон. Адельи сареи урҭ рҭаацәа идҳарҵон. Иҟан аамҭа 11 ҭаацәара Абиблиа андҳарҵоз. Абиблиа аҵара зҭахыз даара ирацәаҩын, убри аҟынтә иҿыцу аизара еиҿаҳкааит!
Аамҭак аҩныҵҟа уи аҭыԥ аҿы аизара ахылаԥшҩыс сара заҵәык сакәын иҟаз. Убри аҟынтә афилиал аҟынтә аишьцәа сыҳәеит ааҩык ҳаизара иатәыз ажәабжьҳәаҩцәа рзы адагьы, ақыҭа Марили́ иатәыз жәҩык ажәабжьҳәаҩцәа рзгьы есымчыбжьа аизарақәа мҩаԥызгаларц. Уахь унеиаанӡа анышь ала хсааҭк амҩа уқәхон. Аиԥылара ашьҭахь ақыҭа Ха́лси абиблиатә ҵарақәа мҩаԥаҳгарц азы сҭаацәеи сареи ашьхамҩала акыраамҭа ҳцар акәын.
Марилигьы Халсигьы ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара ирласны иазҳауан. Убри аҟынтә аамҭак ашьҭахь аҩқыҭак рҿы Аҳратә залқәа ҳаргылеит. Уи аргыларазы иаҭахыз амаҭәахәқәа еиҳарак еизызгаз аишьцәеи Абиблиа ахь аинтерес змаз ауааи роуп. Линапакангьы убасҵәҟьа акәын ишыҟаз. Аргыларатә усурақәагьы реиҳарак мҩаԥызгаз дара роуп. Марили идыргылаз Аҳратә зал 200-ҩык акуан, араионтә конгресс мҩаԥугарц азгьы иҵегь иацуҵартә иҟаҵан.
АГӘЫРҨА, АЗАҴӘРА, НАС ЕИҬАХ АГӘЫРӶЬАРА
1993 шықәсазы, ҳхәыҷқәа ианрызҳа, Адельи сареи Филиппина араионтә маҵзура ҳалагеит. Анаҩс, 2000 шықәсазы, Амаҵзура аиӷьтәразы ашкол ахь саарыԥхьеит, аԥхьаҟа уи ашкол мҩаԥызгаларц азгьы сазыҟарҵеит. Сгәы иаанагон уи адҵа сзынагӡаӡом ҳәа, аха Адель сгәы шьҭылхуан, агәра гангьы дыҟан уи шысзынагӡо. Лара исгәалалыршәон Иегова ицхыраарала уи адҵа анагӡара шсылшо (Флп. 4:13). Адель лхаҭа уи ԥылшәахьан: лгәабзиара уиаҟара ишҽеимызгьы, илыдыз адҵақәа ибзианы иналыгӡон.
2006 шықәсазы, Амаҵзура аиӷьтәразы ашкол анымҩаԥызгоз, Адель Паркинсо́н ичымазара шлымоу ларҳәеит. Уи ҳара зынӡа ҳазыԥшӡамызт! Адель слыцхраарц азы исыдыз дҵақәак аансыжьырц сыӡбеит. Аха лара илҳәеит: «Суҳәоит, аҳақьым дысзыԥшаа. Уи аҽыхәышәтәра дсыцхраауеит. Егьи зегьы Иегова инапы ианаҳҵап». Анаҩстәи фышықәса рыҩныҵҟа Адель хьаак шлымоу умырбаӡакәа Иегова имаҵ луан. Адель дзымныҟәо даныҟала, аинвалидтә кресла дантәаланы ажәабжьҳәара дцон. Ацәажәара анылцәыуадаҩха, аизараҿы жәак-ҩажәак рыла аҭак ҟалҵон. Адель лгәы шьҭырхырц азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи СМС-аацҳарақәа лзырыҩуан — ачҳара аарԥшны зегь ахьылхылгоз азы, аҿырԥш бзиа шаалырԥшуаз атәы лзырыҩуан. Адель дыԥсит 2013 шықәсазы. 30 шықәса инареиҳаны сааигәара дыҟан абзиабара злаз, гәыкала исзыҟаз сыԥшәма. Лара данԥсы, еиҭах агәырҩа самҽханакит, схы заҵәны избогьы салагеит.
Адель илҭахын смаҵзура аансмыжьырц. Сара ус иагьыҟасҵеит. Схы заҵәны ианызбоз аамҭазы саамҭа зегьы амаҵзура иахьазыскуаз даараӡа исыцхраауан. 2014 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа Иегова ишаҳаҭцәа рус анагӡара мап ахьацәкыз атәылақәа рҿы тагал b бызшәала имҩаԥысуаз аизарақәа сырҭаауан. Уи ашьҭахь Таивани, Еиду Аштатқәеи, Канадеи тагал бызшәала имҩаԥысуаз аизарақәа сырҭаауан. 2019 шықәсазы Индиеи Таиланди Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол англыз бызшәала имҩаԥызгон. Арҭ адҵақәа зегьы даара исгәаԥхон. Саамҭа зегьы Иегова имаҵ аура ианазыскуа агәырӷьара дуӡӡа соуеит.
АХААН ЦХЫРААРАДА ҲААНХАӠОМ
Сара еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы амаҵ зуан. Урҭ аҭыԥқәа рҿы инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи сареи ҳаиҩызцәахон. Убри аҟынтә иааныжьны даҽаџьара аиасра сцәыуадаҩын. Аха Иегова иқәгәыӷшьа сҵеит. Еснагь избон иара дышсыцхраауаз, уи сыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа аныҟалоз даара исыцхраауан. Уажәы Филиппина иҷыдоу пионерс амаҵ зуеит. Сахьыҟоу аизара ҭаацәарак исзаҩызахеит. Самуельи Ширлии ран лхаҵара иаҿыԥшны гәыкала Иегова имаҵ руеит. Уи сара даараӡа сеигәырӷьоит (3 Иоанн 4).
Сыԥсҭазаараҿы ирацәаны ауадаҩрақәа схызгеит. Ахаан исхашҭӡом бзиа избоз сыԥшәма ачымазара даргәаҟны дшагаз. Уи адагьы, лассы-лассы зҽызыԥсахуаз аҭагылазаашьақәа сыҽрықәсыршәалар акәын. Аха сара избон Иегова дшаҳцәыхарам (Аус. 17:27). Иегова имаҵзуҩцәа ахьыҟазаалакгьы дрыцхраауеит, ирӷәӷәоит (Ис. 59:1). Иегова Сыцаҟьа иоуп, еснагь дсыцуп. Уи азы ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Сара ахаангьы сымацара сыҟаӡамызт.