Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ишәҭ Иегова ахьӡ-аԥша

Ишәҭ Иегова ахьӡ-аԥша

(Аԥсалом 96:8)

Ахҩылаара:

  1. 1. Дыҟам иуеиԥшу, Иегова,

    Заҳраҭыԥ дуӡӡаҿ итәоу.

    Знымзар-зны, Саб, исызшәома

    Убзиабаразы иахәҭоу?

    Ажәҩан санаҵаԥшуа сгылан,

    Уԥшӡареи умчи сымбои.

    Схәыцуеит сызусҭада, мшәан, ҳәа.

    Саԥсоума сара иҟауҵо?

    АХАПА

    Иегова, Саб, иузысҳәоит ашәа ԥшӡа,

    Усырҽхәоит сара иахьа.

    Уара Сынцәа, наӡаӡа иҟоу Аҳ,

    Уара уоуп хьӡи-ԥшеи иаԥсоу,

    Уара уоуп уи заҭәашьоу.

  2. 2. Сусқәа зегьы ухьӡ ҳарарклааит,

    Умаҵ ауроуп схы зызку.

    Сгәырӷьо исҳәоит уара уӡбахә,

    Уусқәа роуп исҳәо зызку.

    Умаҵ аура, Сынцәа Дуӡӡа,

    Аҳаҭыр ду исзаԥсоуп.

    Сыхьӡ-сыԥша, сымч уара уами,

    Наӡаӡагьы сымҩақәҵаҩ уоуп.

    АХАПА

    Иегова, Саб, иузысҳәоит ашәа ԥшӡа,

    Усырҽхәоит сара иахьа.

    Уара Сынцәа, наӡаӡа иҟоу Аҳ,

    Уара уоуп хьӡи-ԥшеи иаԥсоу,

    Уара уоуп уи заҭәашьоу.

  3. 3. Хыхь — амреи, амзеи, жәҩантәылеи,

    Археи амшыни — ҵаҟа.

    Зегь гәазырҳагоуп са сзыҳәа,

    Иубарҭоуп убзиабара.

    Аԥшӡара, амч ду, аҟәышра:

    Избо уиоуп сахьыԥшлак.

    Ахьӡ-аԥша усҭоит, Иегова,

    Сынцәа, зегьы зшаз, сахьцалак.

    АХАПА

    Иегова, Саб, иузысҳәоит ашәа ԥшӡа,

    Усырҽхәоит сара иахьа.

    Уара Сынцәа, наӡаӡа иҟоу Аҳ,

    Уара уоуп хьӡи-ԥшеи иаԥсоу,

    Уара уоуп уи заҭәашьоу.

(Шәахәаԥш иара убас Аԥсал. 96:1—10; 148:3, 7.)