Абзиабара ӷәӷәа
Ахҩылаара:
1. Иҳаиҭеит Ҳаб уи ҳамҭас ҳара —
Хатә ҩызас иалҳхыз бзиа ибара.
Ҩыџьа ргәы акны абжьы анго,
Уи иаҳәоит аамҭа ссир шалаго.
АХАПА
Уи амаӡа ҳдыруеит, зынӡа имариоуп:
Анцәа ахԥатәи
ҳшашәа иоуп.
Ҳаб напхгара анҳаиҭо, уи ҳицны ҳанцо,
Ишԥассирузеи бзиа ббара,
Ба бзиа ббара,
Бзиа ббара.
2. Ауадаҩрақәа ҟалалоит,
Аха ҳабзиабара еизҳалоит.
Иҳабжьоу ҳцәаныррақәа еизҳалап,
Ҳа ҳабзиабарагьы ҳарӷәӷәалап.
Иҳарӷәӷәалап.
АХАПА
Уи амаӡа ҳдыруеит, зынӡа имариоуп:
Анцәа ахԥатәи
ҳшашәа иоуп.
Ҳаб напхгара анҳаиҭо, уи ҳицны ҳанцо,
Ишԥассирузеи бзиа ббара,
Ба бзиа ббара,
Бзиа ббара.
АИАСЫРҬА
Мап, ҳабзиабара нҵәом,
Избанзар уи аҳамҭа Ҳаб иҟынтә ауп.
Аԥсра еиԥш иӷәӷәоуп абзиабара ӷәӷәа,
Сыбаҩ балхын бара, цәеижькны ҳаҟоуп уажәшьҭа.
Сыбжа боуп ажәакала, зегь рыла быԥшӡоуп.
Есымша бзиа са бызбалоит.
3. Исҳәоит сгәы иҭоу зегь аартны,
Бзиа бшызбо са ииашаҵәҟьаны.
Шаҟа иссирыз ҳанеибаба амш,
Сара исхашҭуам ҳа ҳанеибага амш.
Исхашҭӡом.
АХАПА
Уи амаӡа ҳдыруеит, зынӡа имариоуп:
Анцәа ахԥатәи
ҳшашәа иоуп.
Ҳаб напхгара анҳаиҭо, уи ҳицны ҳанцо,
Ишԥассирузеи бзиа ббара,
Ба бзиа ббара,
Бзиа ббара.
Ишԥассирузеи бзиа ббара,
Ба бзиа ббара.